AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 

 Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Кавказ аҭагылазаашьазы Женеватәи абжьгарақәа хырҳара злоу еиҿцәажәарақәоуп ҳәа азҧхьагәанаҭоит

 

Женева имҩаҧысыз Кавказ аҭагылазаашьазы абжьгарақәа, Аахыҵ Уаҧстәыла аибашьра ашьҭахь, раҧхьатәи хырҳара злоу еиҿцәажәарақәоуп ҳәа азҧхьагәанаҭоит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра, ҳәа Урыстәылатәи аинформациатә агентра Новости ахь ҭелла Женевантә адырра ҟаиҵеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа.

Ахашаҽны, Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаареи, Европатәи Аидгылеи, ОБСЕ-и рыцхантәаҩрала имҩаҧысит Кавказ аҭагылазаашьазы абжьгарақәа. Аусуҩтә гәыҧқәа рформат ала имҩаҧысуаз абжьгарақәа, ирылахәын иара убасгьы Урыстәылеи, Америка Еидҵу Аштатқәеи, Аҧсни , Аахыҵ Уаҧстәылеи рхаҭарнакцәа.

„Аиҿцәажәарақәа мҩаҧысит хырҳарала. Мызкы аҧхьа еиҧырҟьаз Женеватәи апроцесс аусура иацнаҵеит. Ҳара уаҟа ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәеит. Аахыҵ Уаҧстәылатәи ахҭысқәа рышьҭахь, ари раҧхьатәи аҵакы змаз еиҿцәажәарақәан. Иара убасгьы иазгәаҭатәуп, аиҿцәажәарақәа ахьышьақәгылаз зыбзоуроу, аганқәа зегьы еиҟароу астатус ахьрымаз шакә“, - азгәеиҭеит уи.

Араҟа ихадароу, Ҕәнџьиа иажәақәа рыла, аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуан аимак змоу аганқәа рыбжьара мацара акәымкәа, уи иазҿлымҳаз аганқәа зегьы алархәны.

„Ҧхынҷкәын 17-18 рзы иазгәаҭоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд аҟны, ирылацәажәараны иҟоуп ихадароу ҩ-зҵаарак – арегион аҟны ашәарҭадара аиқәырхареи, ахҵәацәа рыргьежьра азҵаатәи“, - иҳәеит уи.

 

20.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Адәныҟатәи Аусқәа рминистр дидикылеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Ахеилак анапхгаҩ ҿыц

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба идикылеит Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Ахеилак анапхгаҩ ҿыц Ариан де Робиени, ҩ-шықәса раахыс ари амиссиа хадара азызуаз Алеқсандра Манескуи.

 

С.Шамба Ариан де Робиен бзиала баабеит ҳәа лаҳәо, дызхагылаз амаҵура ҿыц аҟны ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит. Уи иҳәеит Аҧсны анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо,  Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Ахеилак апроектқәа ареспублика аларҵәараҿы  аҭагылазаашьақәа рзаҧҵараҿы.

 

С.Шамба, Алеқсандра Манеску Аҧсны имҩаҧылгаз лусуразы ҭабуп ҳәа лаҳәо, илзеиҕьеишьеит лусураҿы аихьӡарақәа.

 

Аминистр Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Ахеилак ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, 16 шықәса раахыс Аҧсны имҩаҧырго агәҳалалратә миссиазы.

 

Шамба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Ахеилак аибашьраан, Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегь раҧхьа ацхыраара ҳәа иааз ишреиуоу. Ареспубликазы иаҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь амиссиа ацхыраара зҭахыз ауааҧсыра  рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иацхраауаз еиуеиҧшым агәҳалалратә проектқәа аланарҵәон, - ҳәа азгәеиҭеит уи.

 

19.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь усуратә визитла Москва дыҟоуп

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь усуратә визитла Москва дыҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла аҳҭны-қалақь ахь дцеит, Урыстәылеи Аҧсни рекономикатә усеицура азҵаатәқәа рылацәажәара хықәкыс иманы – ҳәа адырра ҟарҵеит Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟны.

 

Уиадагьы, Москва иалацәажәараны иҟоуп хықәкыла аинвестициатә проектқәа раларҵәара азҵаатәқәа.

 

17.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәаахьшьцәа иааныркылеит Қырҭтәылантә Гал араион иаҧну аҳәаа иахысырц зҽазызшәоз адиверсиатә гәыҧ

 

Асабшаҽны, Аҧсны аҳәаахьшьцәа иааныркылеит Қырҭтәылантә Гал араион иаҧну аҳәаа иахысырц зҽазызшәоз адиверсиатә гәыҧ, ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩныҵҟатәи Аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Лауренс Коҕониа.

 

Иара иажәақәа рыла, 13.00 сааҭ рзы аҧсуа ҳәаахьшьцәа рыҧшыхәраан Саберио ақыҭан игәарҭеит  абџьарла еибыҭаз фҩыуаак. „ Аҭыҧ змаз аиҿахысрақәа рышьҭахь, ақырҭқәа рганахьала аӡәы дшьуп“, - иҳәеит Коҕониа.

 

Амилициа аиҳабы излашьақәирҕәҕәаз ала, абџьарла еибыҭаз ари адиверсиатә гәыҧ Қырҭтәыла атерриториахь рҽырҵәахит.

 

Излеилкаахаз ала, аиҿахысрақәа рҿы дшьуп Жәыргьыҭтәи аполициа аусзуҩы Тимур Џьиџьелаа.

 

17.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аделегациа алахәхоит Кавказ ашәарҭадара азҵааразы Женеватәи абжьгарақәа

 

Аҧсны аделегациа алахәхоит Кавказ ашәарҭадара азҵааразы Женеватәи абжьгарақәа. Женеваҟа ицоит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба, Германиа иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахаҭарнак Зеки Қапба.

 

„Ҳара Женеваҟа ааҧхьара ҳауит апроцесс алахәлацәақәак раҳасабала“, - иҳәеит Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамба.

 

Аиҿцәажәарақәа ирылахәхоит  - апроцесс ацхантәаҩцәа – ООН-и ОБСЕ-и рхаҭарнакцәеи, иара убасгьы Урыстәылеи, Америка Еидҵоу Аштатқәеи, Қырҭтәылеи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи.

 

14.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Игор Ахба дҟаҵоуп Урыстәыла Афедерациаҿ Аҧсны ацҳаражәҳәаҩыс

 

Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара инадҳәаланы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит, Москва ақалақь аҟны, Ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа аҧҵаразы.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала, Урыстәыла Афедерациаҿ Аҧсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп Игор Ахба.

 

Аилыркаага: Ахба Игор диит 1949 шықәсазы, Москватәи Аҳәынҭқарратә Унивирситет аиуристтә факультет даушьҭымҭоуп.

 

1975 шықәса рзы далгеит Аҳәынҭқарреи азини Ринститут аспирантура „Аҳәынҭқарратәи жәларбжьаратәи зин“ азаанаҭ ала.

 

1976-1989 шш.рзы – СССР акультура аминистрра анаука-ҭҵааратә центр аусзуҩ еиҳабы.

 

1989-1992 шш. – СССР Иреиҳаӡоу Асовет аппарат ареферент.

 

1992 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа – Урыстәыла Афедерациа аҟны Ареспублика Аҧсны ахаҭарнак ҷыда, имоуп ацҳаражәҳәаҩ иранг.

 

Ианашьоуп „Ахьӡ-аҧша“ аорден ахҧатәи аҩаӡара.Дҭаацәароуп, димоуп аҧҳа.

 

14.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Удмуртиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аҟнытә Аҧсныҟа иаагоуп агәҳалалратә цхыраара аидара

 

Удмуртиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, аполковник Александр Колдомов адырра злаҟаиҵаз ала, урҭ ҷыдала ашколқәа рзы иааргеит астолқәеи, аҟәардәқәеи, апартақәеи, Аҧсны атагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аоперативникцәа рзы аҧхынтәи аӡынтәи амаҭәа, аиқәырхаҩцәа рзы арҧхагеи алашарзы агенератори зцыу апалаткақәеи, иара убасгьы Аусбарҭа азы зда ҧсыхәа ыҟам анормативтә докәментациақәеи.

 

„Ҳара ацхыраара ҳәа уаҩ даҳмыҳәеит. Ари ҳара ҳхаҭақәа хатәгәаҧхарала иҟаҳҵаз цхыраароуп,“ – ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Колдомов.

 

А.Колдомов агәыҕра шимаз иҳәеит,Аҧсни Удмуртиеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Русбарҭақәа рыбжьара,  аринахысгьы аицхыраареи аусеицуреи рыбжьарҵап ҳәа.

 

11.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аҧсны алахәхара азҵаара макьаназы иаартны иаанхоит

 

Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аҧсны алахәхара азҵаара макьаназы иаартны иаанхоит. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба, Женеватәи апроцесс ацхантәаҩцәа – ООН-и, Европатәи Аидгылеи, ОБСЕ-и рхаҭарнакцәа ҷыдақәа Иохан Вербекеи, Пиер Моррели, Жан Талассоми Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи реиҧылара анхыркәшаха ашьҭахь.

 

„Ишдыру еиҧш, иаҳхысыз Женеватәи аиҧылара, жьҭаара 15 рзы имҩаҧысыз, уи аформат ҳахьақәшаҳаҭымхаз инадҳәаланы лыҵшәа маиуит. Мызкы иалагӡагны, ҳара ари апроцесс ҳалахәхара аҭагылазаашьақәа шьақәҳарҕәҕәар акәын“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Шамба. Уи, иара убасгьы иазгәеиҭеит, „ ари азҵаараҿы ҧхьаҟацарақәак ыҟазаргьы, аҧсуа ган иқәдыргыло адҵаҟаҵарақәа азхарҭәаауам ҳәа. Убри инамаданы, Женеватәи аиҿцәажәарақәа ҳара ҳалахәхара азҵаара макьаназы иаартны иаанхоит“.

 

Қырҭтәыла акризистә ҭагылазаашьақәа рзы Европатәи Аидгыла ахаҭарнак ҷыда Пиер Моррель аиҧылара алыҵшәақәа ахҳәаа рзыҟаиҵаанӡа, ажурналистцәа ргәы рҽаниҵеит „ари брифингым“ ҳәа. Убри аан уи иазгәеиҭеит „имҩаҧысит ихадароу аиҧылара, Женеватәи аиҿцәажәара акомпонентқәа инарҵауланы иахьрылацәажәаз“ ҳәа.

 

10.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке. Аиҧылараҟны ирзааҭгылан ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭышәныртәалара азҵаатәқәа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада апатын Вербеке адырра ииҭеит, иаарласны Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара анапы шаҵаҩхо Аҳәынҭқарратә ҳәаа еицеилахәны ахьчаразы Аиқәшаҳаҭра. Адокәмент иазҧхьагәанаҭоит аҧсуа ҳәаахьшьцәа Урыстәыла ацхыраара шырнаҭо атәы. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, агәаҭарҭа-аушьҭырҭатә пункт „Ингәур“ ацҳа агәаны аҧсуа хәаахьчаратә отриад мацара шракәхо амаҵзура иахысуа.

 

Аиҧылараҟны, иара убасгьы ирылацәажәан ООН амиссиа Аҧсны аҧхьаҟатәи аусура.

 

10.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гал араион ахадара аиҳабы Б. Аршба мап ацәикуеит араион ауааҧсыра рыҩнқәа кажьны Қырҭтәылаҟа ицошәа ақырҭуа кьыҧхь иҟанаҵо адырраҭара

 

Гал араион ахадара аиҳабы Беслан Аршба, мап ацәикуеит ақырҭуа електронтә массатә-информациатә хархәагақәа араион ауааҧсыра имҩаҧысуа ареидқәа ирыхҟьаны рыҩнқәа кажьны Қырҭтәыла аганахь ицошәа иҟарҵо адырраҭара. „Ауаа џьаргьы ицаӡом. Урҭ шынхац рыҩнқәа рҟны инхоит“, - иҳәеит уи.

 

Ақырҭуа массатә-информациатә хархәагақәа аҭыҧантәи ауааҧсыра ирҳәазшәа адырра ҟарҵоит „ареидқәа анымҩаҧысуа аамҭазы, аррамаҵзуцәа аҩны иҩналаны апаспортқәа гәарҭозшәа, араса аҽаҩра рымырхәазшәа.“ 40 ҭаацәа, Гал араион Набакеви ақыҭан инхо рахьынтә, 10 ҭӡык рынхарҭақәа аанрыжьызшәа адырра ҟарҵоит ақырҭуа массатә информациатә хархәагақәа.

 

Аршба ишьақәирҕәҕәеит, араион аҟны апрофилактикатә усмҩаҧгатәқәа апаспорттә режим агәаҭаразы ишымҩаҧысуа, Аҧсны атерриториахь закәандарыла иахысуа раанкыларазы.

 

„Адокәментқәа ргәаҭара аартны имҩаҧысуеит, ақыҭа ахадарақәа реиҳабацәа алархәны“, - иазгәеиҭеит Аршба.

 

07.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Америка Еидҵоу Аштатқәа рконгресс абиблиотекеи Колумбиатәи аславистикатә унивирситети С.Лакобеи О.Бҕажәбеи рышәҟәы „Аҧсны аҭоурых“аиуразы аҳәара ҟарҵоит

 

Америка Еидҵоу Аштатқәа рконгресс абиблиотекеи Колумбиатәи аславтистикатә унивирситети Шәачаҟа аҳәара ҟарҵеит аҵарауаа Станислав Лакобеи Олег Бҕажәбеи рышәҟәы „Аҧсны аҭоурых“ роуырц шырҭахыу ала. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

 

„Ашәҟәы Аҧсны излаҭыҵыз ала, жәларбжьаратәи аҭаҩратә номер ҳәа акагьы амамызт, убри азын анапаҵаҩрала џьаргьы ишьҭӡамызт, аха ишакәхалкгьы  ахы-аҵыхәа еилыркааит. Америка Еидҵоу Амилаҭқәа рконгресс абиблиотека анапхгара Шәачатәи абиблиотекахь аҳәара ҟанаҵеит, ашәҟәы аиураҿы ацхыраара ҟанаҵарц“, - иҳәеитҶолариа. Уи хаҭала  ашәҟәқәа ҩ-екземплиарк  Станислав Лакобеи Олег Бҕажәбеи рышәҟәы „Аҧсны аҭоурыхи“ Арвелод Кәпраа ишәҟәы „Аҧсуаа ркультуреи“ Шәачаҟа игеит.

 

„Арҭ ашәҟәқәа ашәҟәҭирҭақәа рҟны изларҭихьаз ала, авторцәа дара рхаҭақәа ирымаҳхит“, - иазгәеиҭеит Ҷолариа.

 

Ҷолариа иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иаагәоуҭаратәы аҧсуа ҭоурыхи алитературеи рахь азҿлымҳара ду аадырҧшуа иалагеит. „Ҳсаит ашҟа зықьҩыла ауаа аҳәара ҟарҵоит еиуеиҧшым аҧсуа ҭыжьымҭақәа риураҿы ацхыраара раҳҭарц азы“.

 

07.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа телехәаҧшра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, гәыҧҩык аусзуҩцәа иранашьоуп Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Аҧсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа гәыҧҩык, Аҧсуа телехәаҧшра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы.

 

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа, иара убасгьы, иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәбеи Аҧыза – аминистр А.Анқәаби.

 

Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсуа телерадиоеилахәыра аколлективи Аҧсны жәлар зегьи ирыдиныҳәалеит ателехәаҧшра аиубилеи. Уи иазгәеиҭеит, 1978 шықәса аҭоурых аҟны аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә ҵысраҿы етап хаданы ишыҟалаз. Багаҧшь хьыӡҳәала игәалаиршәеит,  аҧсуа телерадиоеилахәыра анапхгаҩцәа зегьы – Мџьыҭ Хәарцкиа, Шамиль Ҧлиа, Владимир Занҭариа, Руслан Ҳашыг, Гәрам Амқәаб. Уи иазгәеиҭеит аҧсуа – милаҭтә телехәаҧшра ашьақәгылараҿы досу илагала.

 

Аҳәынҭқарра Ахада, иара убасгьы игәалаиршәеит аҧсуа телехәаҧшра аусзуҩцәа, Аҧсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз. Ателехәаҧшра аколлектив иазеиџьеишьеит ақәҿиара дуқәа арҿиараҟны.

 

Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь „Ахьӡ-Аҧша“ аорден а-3-тәи аҩаӡара ранаишьеит – Даур Инаҧшьба, Анатолии Маланиа, Роберт Ломиа, Екатерина Бебиа, Фатима Қәҭелиа, Енвер Арџьениа, Оҭар Лакрба, Лиудмила Ҳагба, Ирина Ҳагба, Заира Бигәаа, Манана Гәнба, Геннадии Смыр, Руслан Ҳаџьымба, Лиудмила Быҭәба.

 

06.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Абҵарамза 7 рзы Аҧсны даауеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда, ООН амиссиа ахада Иохан Вербеке

 

Аҟәа, Ахәашаҽны, абҵарамза 7 рзы, Аҧсны даауеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда, ООН амиссиа ахада Иохан Вербеке.

 

Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҟны адырра злаҟарҵаз ала, апатын Вербеке дырҧылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Аҧыза-аминистр А.Анқәаб, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба. Асабшаҽны, абҵарамза 8 рзы уи дырҧылоит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Н.Ашәбеи ареспублика иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи.

 

04.11.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада