AҦCУAA  PЫБЖbbI
                                   -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт


 

 Аҧсны амилаҭтә банк ҧхынҷкәынмзазы ахархәарахь инанашьҭуеит ижәытәӡоу ақьырсиантә уахәамақәа рсахьа зну араӡынтә монетақәа

 

Аҧсны амилаҭтә банк 2010 шықәса ҧхынҷкәынмзазы ахархәарахь инанашьҭуеит 10 аҧсарк ицо араӡынтә монетақәа “Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа” асериала.
 

Амонетақәа ирнуп Афонҿыцтәи Иҧшьоу Симон Канонит иуахәамеи, Пицундатәи, Бедиатәи, Драндатәи, Елыртәи ауахәамақәеи.
 

Зыхәҧса ҳаракыу Аҧсны абанк агәаларшәагатә монетақәа  раархәара алшоит Ареспублика Аҧсны акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны.

 

29.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны имҩаҧысуеит ижәытәтәу афотосахьақәа рцәыргақәҵа

 

Аҩаша, абҵара 30 рзы, Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаатуеит 1920-1930 шықәсқәарзтәи ижәтәтәиу афотосахьақәа рцәыргақәҵа, “Аҧсуаа” ҳәа хьӡыс измоу.

 

Виктор Абаза ихьӡ зхыу агәҳалалратә фонд апрезидент Есма Џьениа “Аҧсныпресс” ахь адырра злаҟалҵаз ала, ацәыргақәҵахь инагахоит ауааҧсыра рҟынтә еизгаз 205 рҟынӡа афотосахьақәа.
 

“Афотосахьақәа ауааҧсыра рҟынтә еизаҳгон рхатәы ҭаацәаратә архивқәа рҟынтә. Ҳара еиҳарак ҳрызҿлымҳан аҭаацәаратә фотосахьақәа,”- лҳәеит Џьениа. Убри аан уи иазгәалҭеит, ишыҟоу иара убас  еицырдыруа “Гиоргиевтәи аџьарқәа занашьаз Тита Хасаиа” уҳәа убас рфотосахьақәа.
 

Уи адагьы, Е.Џьениа лажәақәа рыла, иҟоуп 1920-30 шш. рзтәи европатәи ацәамаҭәала еилаҳәоу аҳәса рфотосахьақәагьы. “Убри ала иҳәатәуп, ахацәа амилаҭтә маҭәа анныҟәргоз аамҭазы, аҳәса ишыршәырҵоз имодаз, аамҭа иақәшәоз амаҭәа, уи  азы ҧынгыла шрымамыз”. – азгәалҭеит ацәыргақәҵа аиҿкааҩ.
 

Ацәыргақәҵа ашьҭахь, уи аиҿкааҩцәа ирыгәҭақыуп альбом аҭыжьра. Уи аҟны ианылоит, ихьысҳау ахаҭабзиара иахҟьаны ацәыргақәҵаҿ ицәыргамыз 70 фотосахьа инареиҳаны.

 

25.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс далхыуп Владимир Қапба

 

Иахьа Аҟәа имҩаҧысуаз аидгыла XI  асиезд аҟны, агазеҭ “Аҧсны” аусзуҩ Владимир Қапба далырхит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс.

 

Асиезд аделегатцәа иакымкәа акандитатурақәа азгәарҭеит, урҭ рхыҧхьаӡараҟны; Зураб Аргәын, Гәрам Амқәаб, Владимир Қапба, Екатерина Бебиа, Владимир Занҭариа, Руслан  Ҳашыг. Зураб Аргәын, Гәрам Амқәаб, Руслан Ҳашыг рхатәгәаҧхарала мап ацәыркит. Убриалагьы абжьыҭираз абиуллитен ахь ианҵан хҩыуаак ркандидатурақәа – Владимир Қапба, Екатерина Бебиа, Владимир Занҭариа.

 

Зыбжьы зҭиз асиезд аделегатцәа 57-ҩыуаак рҟынтә, 33 –ҩыуаак рыбжьқәа ирҭеит Владимир Қапба, 11 –ҩыуаак – Екатерина Бебиа, 9-ҩыуаак Владимир Занҭариа. Х-ҩыуаак зегьы рҵәаҕәеит. Биуллитенк бжьыхын.

 

Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩ ҿыц далхын маӡалатәи абжьыҭирала.

 

25.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла хә-шықәсатәи алыҵшәақәа еихшьалан XI асиезд аҟны

 

Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла XI асиезд.
 

Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа анапхгаҩы Кристиан Бжьаниа даҧхьеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь асиезд аделегатцәеи алахәцәеи рахь инашьҭымҭа.
 

Асиезд аҟны аҳасабырбатә ажәахә ала дықәгылеит ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Кәыҵниа. Уи ахә ҳаракны ишьеит аҧсуа журналистцәа русура. Аха убри аан иазгәеитҭеит, ақыҭа апроблемақәа имаҷны хырҩаа шарҭо. Аҧсуа телехәаҧшра апрограмма “Аӡыхь” амҩаҧгаҩ Гарри Дбар ида, ақыҭа аҧсҭазаареи, уи аҭахрақәеи уаҩ дырзааҭгылом”,- иазгәеиҭеит Сергеи Кәыҵниа.
 

Иара иажәақәа рыла, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахықәкы хадақәа иреиуоуп ажурналистцәа рпрофессионализм аҳаракра, уи азын еиҿкаан арҿиаратә семинарқәа, иара убас итрадициахеит еиуеиҧшым атемақәа рыла аконкәрсқәа рымҩаҧгара.
 

Иҟаҵоу аусра атәы дазааҭгылеит ахылаҧшра-ревизиатә комиссиа ахантәаҩы Роман Аргәын.
 

Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Аргәын асиезд алахәцәа идирдырит Аидгыла Аҧҟаҧҵа ахаҭәаарақәеи аҧсахрақәеи ралагаларазы иазҧхьагәаҭоу. Хәҭакахьала, уи азкхоит, ажурналистцәа Реидгыла алахәлас иҟаларц зылшо, ажурналистика аветеранцәа Аидгыла ралахәхара аиқәырхара, Аидгыла аҟынтә алҵра апринцип, алахәлатә лагалақәа.
 

Ажурналист Е.Коҕониа иазгәалҭеит, Ажурналистцәа Реидгыла асиезд алахәхаразы ажурналистцәа еилыхны амандат рыҭара дшаҿагыло. “Аҧсны ажурналистцәа рацәам, асиезд иалахәу зегьы амандат зырҭаз реиҧш, абжьы азин рымазароуп,” – азылыҧхьаӡоит Коҕониа. Ари ажәалагала зегьы адгылеит.
 

Ажурналист Е.Бебиа илҳәеит, Аҧсны  ажурналистцәа Реидгылахь ишрыдыркылалаша иҩуа ауаа. Лара лажәақәа рыла. иахьатәи Аидгылаҿ иҟоуп цәаҳәакгьы зымҩыц ауаа. Аха асиезд алахәцәа ажәалагала ҟарҵеит, иаҧҵазарц акомиссиа, ус еиҧш ауаа аидгылаҿ иҟоу иҟаму аилкааразы.
 

Агазеҭ “Аҧсны” аредақтор хада Борис Ҭыжәба аҿыц цәырҵрақәа инарықәыршәаны, ажурналистцәа Реидгыла аусура аҧсахразы игәаанагара иҳәеит. “Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ҧсахтәуп. Араҟа ихадоу – ҳҽеидкылан, амилаҭтә кьыҧхь аҩаӡара ашьҭыхроуп. – иҳәеит Ҭыжәба. Иаҭахыуп афинанстә цхыраара. Аидгыла алагала маҷқәа рыла акы аҟаҵара цәгьоуп”.
 

Уи иара убас иазиҧхьаӡоит, Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи Аҧсны егьырҭ ажурналисттә еиҿкаарақәеи еимадам ҳәа.
 

“Иахьа Аҧсны ажурналисттә плошьадкақәа рацәахеит. Ажурналистцәа Реидгыла урҭ зегь раасҭа ихадаразароуп”, - ҳәа азиҧхьаӡоит агазеҭ “Республика Абхазиа” аредақтор хада В.Чамагәуа. Иара игәаанагарала, ажурналистцәа Реидгыла еиҿнакаауазароуп еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа,урҭ рхыҧхьаӡараҟны апресс-конференциақәа, абрифингқәа,  уҳәа убас ирацәаны.

 

Асиезд алахәцәа иааизакны ажурналистцәа Реидгыла аусура бзиоуп ҳәа ахә ршьеит.

 

25.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палата ахаҭарнакцәа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь идикылеит Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палата аделегациа, зхадараҿы дыҟоу Аҧхьаӡаратә палата аудитор Сергеи Риабухин. Аиҧылараҟны ирылацәажәон, Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара Акомплекстә план азы Урыстәыла Афедерациа иазоунажьуа афинансқәа рхархәашьа иадҳәалоу азҵаарақәа.

 

Аиҧылара иалахәын Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Беслан Кәбраа, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.

 

23.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҟны ирыҧшааит аҵәахырҭа

 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзураҟынтә излаарыцҳаз ала, аҵәахырҭа ҧшаауп абҵара 16, 18.00 сааҭ рзы Гьенцәыш аиланхарҭатә ҭыҧ аҟны. Аҵәахырҭаҟны иҧшаан, акәалӡтәытехника аҧжәага анапылатә гранатыршәыгақәа РПГ-26, 400 џьаҧҳаны 7,62 зкалибр ыҟоу. Имҩаҧысуеит аусеилыргара, аҵәахырҭа аҟаҵараҿы иалахәыз рышьақәыргыларазы.

 

Аҧсны аҳәынҭҳәаа ахьчаразы рхыдҵақәа нагӡо, Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аҳәаа иаҧну ауааҧсыра ршәарҭадареи рҭынчреи рыхьчоит, уаҟа иахьа уажәраанӡагьы аҭагылазаашьа уадаҩны иаанхоит”, - иҳәеит апресс-маҵзура аиҳабы Василии Малаев.

 

22.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Багаҧшь Очамчыра ақалақь аҟны араион ауааҧсыра рыдкылара мҩаҧигеит

 

Абҵара 19 рзы Ауаажәларратә дкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ауааҧсыра идикылон араион Ахадара ахыбраҟны. Адкылара мҩаҧигаанӡа аҳәынҭқарра Ахада ихы алаирхәит актив реизара.

 

Араион актив реизараҟны, ишаҧу еиҧш, иазыӡырҩымызт иҟаҵоу аусқәа раҳасабырба. Аҳәынҭқарра Ахада еиликаарц иҭахын араион апроблемақәа ауааҧсыра рҟынтә, иахьынӡазалшогь урҭ рыӡбара дацхраарц.

 

Аҳәынҭқарра Ахада араион ауааҧсыра рыдкылара мҩаҧигеит араион ахада иуадаҟны. Аҳәынҭқарра Ахада иахь идҵаало иреиуоуп аҽыхәышәтәраҟны ацхыраара зҭахыуи зынхарҭақәа рышьақәыргылараҟны ауадаҩрақәа змои роуп еиҳарак. Аҳәынҭқарра Ахада агәра диргеит амедицинатә цхыраара иаҳәо зегьы ацхыраара шриҭо ала, иаҭаххоны иҟалозар Аҧсны анҭыҵгьы убрахь иналаҵаны.

 

Анхарҭақәа ртәы акзар, уи ус мариам. Иахьазы 500 инареиҳаны арзаҳалқәа шьҭоуп аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны. Макьаназ иҟам аҭагылазаашьақәа зегьы рыцхырааразы. Аха, убри аан С.Багаҧшь иақәиргәыҕит, зегь раҧхьа инаргыланы ахыбқәа аремонт шырзыруа ала, анхарҭақәа аринахыс реиқәырхаразы.

 

Анхарақәа рҭагылазаашьа аиҕьтәра иаргәаҟуа рыбжьара иҟоуп ахшара рацәа змоу ахьыҟоу аҭаацәарақәеи, аибашьра аинвалидцәеи. Аҳәынҭқарра Ахада араион Ахадара анапынҵа риҭеит, зегь раҧхьа иргыланы абарҭ акатегориақәа ирыҵаркуа ацхыраара рырҭарц.

 

Аҳәынҭқарра Ахада идкыларҭахь иааит иара убас абжьаратә школ №2, амузыкатә школ, ақалақьтә библиотекеи рнапхгаҩцәа. Урҭ ирҳәон арҭ ахыбрақәа рыҟны акапиталтә ремонт ҟаҵамзар ҧсыхәа шыҟам атәы. С.Багаҧшь агәра диргеит ахыбқәа рыҧсахраҟны ацхыраарпа шриҭо ала. Иааизакны аремонт атәы акәзар, уи иазыҧштәхоит.

 

Кәтоли Кындыҕи рынхацәа, ақәоурақәа раан ауадаҩрақәа ирымоу атәы иазааҭгылеит. Аӡиасқәа адгьыл ҵрыӡәӡәаауеит, убри  иахҟьаны аҩнқәа рааигәаранӡа инеиуеит. Аҳәынҭқарра Ахада араион Ахадара аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит ари азҵаара иахаҵгыларацы. Иара убас, уи иҳәеит Гәҧи Арасаӡыхьи ирыбжьгоу амҩа  2 километрак иахьаҵанакуа аиҭашьақәыргылараҟны ацхыраара шыҟаиҵо ала.

 

Аҳәынҭқаррва Ахада идкыларҭахь дааит иара убас Аҟәатәи Иаартыу аинститут ахҧатәи акәрс астудентка, аҭаацәа змам. Аҳәынҭқарра Ахада, лара дшаҳәаз еиҧш шықәсыктәи ахәҧса акәмкәа, иаанхаз зегьы ашәараҟны ацхыраара шыҟаиҵо  иҳәеит.

 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит дшазыхиоу Очамчыратәи акоммерциатә банк ацхыраара аҭара аӡбараҿы. Араион аҟны иҟоу ари абанк заҵәы 75 миллион мааҭ аҧҟаҧҵатә капитал амам.

 

Иҟоуп иара убас С.Багаҧшь ихаҭа аҭааҩцәа ирыдигалаз апроектқәагьы. Иаҳҳәап, Лабра ақыҭан арахәааӡаратә ферма аҧҵаразы. Ахадара аиҳабы иахь аҳәара ҟаиҵеит абри азҵааразы ақыҭа ауааҧсыра ргәаанагара еиликаарц азы.

 

Адкыларҭахь иааит иара убас ацәгьоуцәа ирыхҟьаны ааха зоухьоу, уи иахҟьаны ззааигәацәа ҭахахьоу. С.Багаҧшь агәра диргеит аусқәа зегьы хылаҧшра шриҭо ала.

 

Адкыларҭахь иааит иара убас, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны аҭыҧантәии урыстәылатәии апенсиақәа змоуа. Аҳәынҭқарра Ахада ари азҵаара шеилирго ала агәра диргеит.

 

Адкылара мҩаҧысуан 4 сааҭк инарзынаҧшуа. Аҳәынҭқарра Ахада идикылеит 40-ҩыуаак рҟынӡа  араион ауааҧсыра.

 

19.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәатәи атроллеибустә наплакы аиҭашьақәыргылара апроект иааизакны иартәоит 60 миллион мааҭ рҟынӡа

 

Ахәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ А.Анқәаб даҭааит Аҟәатәи атроллеибустә наплакы, иагьҭиҵааит акорпус хада ахыб иақәу аҧсахреи, ашьҭаҵарҭақәеи амҩақәҵаратә уадақәеи рыҟны аусурақәа рцашьа.

 

Аргыларатә фирма Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара “Маиак” адиректор Григории Бебиа иажәақәа рыла, 30 шықәса раахыс ахыб аҟны арҽеиратә усура ҳәа акагьы мҩаҧымсыцызт. Иахьазы аҳәынҭеилакы “Аҧсныргылара” аусзуҩцәа 4 нызқь метра ҧшьыркца иахьрыҵаркуа ахыб рыҧсахуеит. Ахыб аҧсахразы аныхтәқәа идыртәоит 5 миллион мааҭк аҧара. Аҟәатәи атроллеибустә наплакы аиҭашьақәыргылара апроект иааизакны иартәоит 60 миллион мааҭ рҟынӡа.

 

Иара убри аҽныҵәҟьа А.Анқәаб даҭааит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы, уаҟагьы ихацыркыуп  ахыб аҧсахразы аусурақәа. Араҟа аргылаҩцәа ирыҧсахраны иҟоуп 5 нызқь метра ҧшьыркца иахьрыҵаркуа ахыб. Уи иартәоит 15 миллион мааҭ.

 

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ аргылаҩцәа раҩыжьрақәа ртәы азгәаҭо,  Г.Бебиа иахь ажәалагала ҟаиҵеит аусуцәа ралҧшаара иҵегьы ҭакҧхықәрала дазнеирц.

 

15.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 “Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Акомплекстә планла иазҧхьагәаҭоу” апроектқәа раларҵәаразы иахьазы иныхыуп 1,087 миллиард мааҭ

 

Апроектқәа раларҵәара амҩаҧысшьа, “2010 – 2012 шш. рзтәи Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара” иазкын, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, ахәаша, абҵара 13 рзы имҩаҧигаз аилацәажәара. Уи иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Сергеи Шамба.

 

Ацәажәара хацыркуа, аҳәынҭқарра Ахада иргәалаиршәеит, 2010 шықәсазы апроектқәа раларҵәаразы Акомплекстә план иазҧхьагәаҭоу, ишазоужьу 3 миллиардк , урҭ рҟынтә 1,5 миллиард – атехникеи амыругақәеи раахәаразы, 1,5 миллиард – аргыларақәеи, ахарџьынҵақәа рышьақәыргылареи рзы уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, Акомплекстә планла ҳазныу ашықәс нанҳәамзазы ихацыркыуп аобиектқәа финансла реиқәыршәара. Абҵарамза 10 рзы аихшьаала иартәон 1, 5 миллиард мааҭ.

 

Иоужьу ахархәагақәа рыҟнытә иахьазы иныхыуп 1,087 миллиард мааҭ (72,7%). Автомҩатә инфраструктурахь идәықәҵоуп 457 миллион мааҭ, урҭ рхыҧхьаӡараҟны, амҩақәа рырҽеиразы 157 миллион мааҭ, автобусқәа раахәараәы – 300 миллион мааҭ. Анхарҭа – коммуналтә нхамҩа ахь ишьҭуп 301 миллион мааҭ, урҭ рхыҧхьаӡараҟны : ӡыла аиқәыршәаразы – 143, 1 миллион мааҭ, афымцалашараз – 85,4 миллион мааҭ, ахыбқәа рырҽеиразы – 73, 0 миллион мааҭ. Агроааглыхратә комплекс аганахьала иныхыуп 80, 3 миллион мааҭ, ааглыхразы – 71, 0 миллион мааҭ. Административтә хыбрақәа рырҽеиразы иныхыуп 63, 2 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара аганахьала – 111,4 миллион мааҭ, аҵарадырра аусхк аҟны – 3, 1 миллион мааҭ.

 

Аминистр лажәақәа рыла, “иахьазы иаҳа иактивтәхеит ахархәагақәа рныхра “. Абҵара мза 12 рзы аус рыдулан 45 контракт, урҭ рхыҧхьаӡараҟны апроектқәа рыҟаҵареи, аргылара-еибыҭаратә усурақәеи рзы 27, амыругақәа раагаразы – 18. Аконтрактқәа рыбжьаҵоуп еиҳарак аҳәынҭеилакы “Аҧсныргылара” аҟны. Иҟоу аҧаратә ресурсқәа хырҳарыла рхархәаразы аҳәынҭқарратә ҿаҵаҩцәа арҽеирақәа аҧшьыргеит. Убас, ари ашықәс азы илҩаау ахархәагақәа рныхра ахьзалымшо инамаданы, Имҩаҧгоуп астатиа “ Гагратәи иахыкәршоу амҩа” арҽеирақәа ралагалара, ахыбрақәа рырҽеиреи, аҭыҧантәи аҵакы змоу амҩақәеи, алифтқәеи рзы аҧарақәа рзеихшарала. Арҽеирақәа алагалоуп, иара убас “Афымцамчы”, “Агәабзиарахьчара”.

 

Аҧарақәа хырҳарыла рныхра ахылаҧшра аҭаразы иаҧҵоуп“Аҭыҧантәи аҵакы змоу амҩақәа хьыӡҳәалатәи рсиа” 2010 ш. рзы арҽеиразы иазҧхьагәаҭоу., иаҧҵахоит иара убас ӡылаиқәыршәара ахыбрақәеи, алифтқәеи, аҩнеихагылақәа хьыӡҳәалатәи рсиа. Хаз игоу аобиектқәа рыҟны ицәырҵыз ауадаҩрақәа инарымаданы, апроект ахәҧса ахьдухаз инадҳәаланы, аминистрцәа реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит Атехникатә хеилак. Аекономика аминистрра есымза Урыстәыла Афедерациа  арегионтә ҿиара Аминистррахь идәықәнаҵоит аҳасабырбақәа.

 

Уажәазы, 2011 ш. абиуџьет Акомплекстә план аиқәыршәара мҩаҧысуеит, уи амза нҵәаанӡа Урыстәыла аган ақәршаҳаҭразы инагатәуп,”- ҳәа азгәалҭеит Кристина Озган.

 

Автомҩатә инфраструктура апроект азырхиара атәы дазааҭгылеит аҳәынҭеилакы “Аҧсныавтомҩа” адиреқтор хада Леонид Лолуа. Аус адулараҟны иҟоуп – Гагра инахыкәршоу амҩа апроект, иара убас апроект аларҵәаразы иазырхиоуп ареспубликатә ҵакы змоу амҩа Очамчыра-Гал. “Ҳара ҳазыхиоуп аҭыҧан аҵакы змоу амҩақәа рырҽеира”, - иҳәеит Лолуа.

 

Убри инамаданы аҳәынҭқарра Ахада ахадарақәа реиҳабацәа анапынҵа риҭеит иаҧырҵарц рхатә усбарҭақәа, амҩа ақәыршәреи аҩныҵҟатәи амҩақәа рырҽеиреи мҩаҧызгалаша.

 

“Атранспорт аахәара – уи раҧхьатәи шьаҿоуп; иазхуцтәуп асервистә маҵзура асистема, автотранспорттә наплакқәа аремонт усурақәа ахьымҩаҧыргалаша аӡбара”, – инаҵшьны иазгәеиҭеит С.Багаҧшь. Уи еиҭеиҳәеит, атроллеибустә мҩа аҭагылазаашьа шҭиҵааз. Иара игәаанагарала, ҷыдала ихьысҳауп Маиак аганахь амҩа. “Уи зегь раҧхьаӡа иргыланы аҭыҧ иқәҵатәуп, ус анакәымха атроллеибус ҿыцқәа уахь рдәықәҵара иаҧсам, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Иара убас ауааҧсыра рзы иманшәаланы иҟаҵатәуп атранспорт аныҟәара аграфик”.

 

Аҳҭны-қалақь Ахада ихаҭыҧуаҩ Анзор Кортуа иазгәеиҭеит, акоммуналтә маҵзурақәа ишырзоужьу 300 миллион мааҭ, ӡылаиқәыршәареи аканализациақәеи рышьақәыргыларазы. Убрахь иналаҵаны Гәлрыҧшьи Аҟәеи рраионқәа. Ахархәагақәа рыхәҭак ныхыуп Аӡыканал азы атехника аахәаразы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада Кортуа иабжьеигеит еиҳа ҭакҧхықәрала иазнеиларц аусура иадрыҧхьало, ахарџьынҵақәа анеиқәдыршәо. Сергеи Багаҧшь ҿырҧшыс иааигеит, Гагра ақалақь ӡылаиқәыршәара апроект азы ҩ-фирмак еиуеиҧшым ахарџьынҵақәа шадырбаз.

 

Афымца аусзуҩцәа русура атәы даззааҭгыло, аҳәынҭеилакы “Черноморэнерго» адиреқтор хада Резо Занҭариа иргәалаиршәеит Акомплекстә план инақәыршәаны ишырзоужьыз 85 миллион мааҭ. “Аҧарақәа реиҷаҳаразын аусурақәа зегьы ҳамчала инаҳагӡоит. Иаҳзоужьу ахархәагақәа атехникеи, аматериалқәеи, ацәаҳәақәеи раахәаразын ҳхы иаҳархәоит”, - иҳәеит Занҭариа. С.Багаҧшь иҭиҵааит аӡынра аҽазыҟаҵара амҩаҧысшьа. “Амашәырырцәарақәа ҳәа акагьы ҟалом”, - ҳәа азгәеиҭеит Резо Занҭариа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада аҧыза-министр С.шамба иахь ажәалагала ҟаиҵеит, афымцамчы азҵааразы иҷыдоу аилацәажәара мҩаҧигаразы.

 

Аилацәажәарахь ааҧхьара змаз Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Анатолии Бигәаа 3 шықәса раахыс аремонт ззырухьоу ахыбрақәа рхыҧхьаӡара изымҳәеит. Ари азҵаара аҭак ҟаиҵеит аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб. Иара иажәақәа рыла, хышықәса ирылагӡаны 272 хыбра аремонт рызууп. Уи анаҩсан еиқәыршәоуп ахарџьынҵақәа Аҟәа ақалақь аҟны 147 хыбра, Агәӡера аҳаблан 60 хыбра рырҽеиразы. Арзаҳалқәа рыҩхьеит Тҟәарчал 58 хыбра рынхацәеи, Гәдоуҭа 14 хыбреи аремонт рзуразы.

 

Аҟәа ақалақь ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Вадим Черқезиа иазгәеиҭеит алифтқәа раахәаразы 50 миллион мааҭ аҧара шоужьу. Иаарласны Аҟәаҟа иаауеит актәи апартиа. Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Ҭеимураз Қапба иажәақәа рыла, Гагреи Пицундеи рзы 94 лифт шаахәатәу, 50 шаархәахьоу.

 

Агәабзиарахьчара аминистр З.Маршьан иажәақәа рыла, иаахәоуп амедицинатә мыругақәеи аинвентари 111, 4 миллион мааҭ рыхә. Арҭ иаахәоу зегьы Ареспубликатә хәышәтәырҭа азоуп. Иапониа иҿаҵоуп акомпиутертә томограф, иаахәоуп иара убас агемодиализ аппарат. Акьыбачымазарақәа рыхәышәтәырҭа акәзар, еилкаахеит, уи шгылоу адгьылҿыбгара аҭыҧ аҟны, убри азын иаанкылоуп аусурақәа финансла реиқәыршәара.

 

Багаҧшь иргәалаиршәеит, 28-30 ҩыуаак рҟынӡа агемодиализ зҭахыз. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ацхырааразы Аҧсны анҭыҵ ицар акәхеит. Ари зыхәҧса ҳаракыу процедуроуп. Убри инамаданы, аҳәынҭқарра Ахада аҧыза-министр иахь ажәалагала ҟаиҵеит ас еиҧш ачымазцәа рыхәшәтәра абиуџьет иахырыҧхьаӡаларазы. Акьыбачымзара хәышәтәырҭа ахыбра акәзар,аҭагылазаашьа аҭҵааразы агеологцәа адыҧхьалатәуп.

 

Аҵара аминистр Индира Аҩардан иазгәалҭеит, Акомплекстә планла иазҧхьагәаҭаз 820 миллион мааҭ рҟынтә 600 миллион шныххо, Гагреи Цандрыҧшьи ахәҷбаҳчақәеи ашколқәеи рремонт аҟаҵаразы. Аха ашколқәа рыҟны аремонт усурақәа хацыркхоит 2011 шықәса рзы, аҵаратә процесс аиҧмырҟьаразы. Аминистр лажәақәа рыла, ареспублика ашколқәа зегьы рыҟны акомпиутертә классқәа ҟалоит.

 

С.Багаҧшь иажәақәа рыла, иаҧҵатәуп атехникатә ҵара абаза. “Ҳара аиуристцәеи аекономистцәеи рацәаҩны иҳамоуп, аха иҳамам аидырҭәалаҩцәа, асантехникцәа, аргылаҩцәа. Ҳара иҳааӡароуп ҳхатәы специалистцәа, мамзаргьы атәым специалистцәа ҳадҳаҧхьалароуп, “ – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Уи иара убас аминистр анапынҵа лиҭеит аҳҭны-қалақь аҟны даҽа аҧсуа школк аартразы ажәалагалақәа азлырхиаразы, А-10-тәи ашкол еиҳа аҧсеивгаразы.

 

Акәльтура аобиектқәа ракәзар, аминистр Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, Акомплекстә план иалаҵоуп атеатр ахыбра аремонти, акәльтура аҩнқәеи, Аҳәынҭмузеии.

 

Аспорттә хыбрақәа рремонти рыргылареи азҵаара далацәажәо, С.Багаҧшь аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Рафаель Амҧар иабжьаигеит, ашьапылампыли амҵәышәымпыли рыҿиара ацхыраара аҭара анаҩсгьы, ареспублика зегьы аҟны аспорттә қалақь хәыҷқәа раҧҵараҿы ацхыраара ҟарҵарц. Зегь раҧхьа иргыланы зынӡа акагьы ахьаҧҵам. Уи ҿырҧшыс иааигеит Тамшь иаарту ахәҷтәы ҽтәы спорт школ: “Уи ауаа рымчала иаҧырҵеит цхыраара ҳәа акагьы иамыҳәакәа. Абас еиҧш иҟоу ацхыраара рыҭалатәуп”, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.

 

Ақыҭанхамҩа аминистр Иури Акаба иажәакқәа рыла, агроааглыхратә комплекс аҿиара ари ашықәс азы иазоужьуп 250 миллион мааҭ.. урҭ рхыҧхьаӡараҟны атехника аахәареи, ауҭраҭыхқәа рыҵәахырҭаҭыҧи, ҩ-фермаки, ачаи ааглыхра аҿиареи рзы. Убри аан аминистр агәнамӡара ааирҧшит ауҭраҭыхҵәахырҭаҭыҧ апроект аеқспертиза ахьагхо азы.

 

“Аҧара ыҟоуп, аха иҟам апроектқәа”. – иҳәеит с.Багаҧшь. Апроектқәа реқспертиза ахьагхо аара лыдиҵеит аргылареи архитектуреи Русбарҭа аиҳабы Марина Аршба.

 

Аҭакс Марина Аршба иазгәалҭеит, лара лгәаанагарала, проектқәак рыҟны рхарџьынҵақәа аминистррақәеи аусбарҭақәеи адокәментқәа реиқәыршәараан иҟарҵо аҩыжьрақәа. “Ахарџьқәа ирыцҵан иҟаҵазар, аҧыза-министри мамзаргьы апрокәратуреи рахь шәыдҵаалала”, иазгәеиҭеит С.Багаҧшь.

 

Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит, атранспорт ҿыц иаахәоу алыҵшәа шаиуз. Убри азын еиҭа 30 автобус раахәара шаҭахыу “Богдан ISUZU” аҟны. Уи иргәалаиршәеит амарка “ПАЗ” автобусқәа 120 рҟынӡа шаахәоу., 30 автобус “Богдан ISUZU” амарка, 25 троллеибуси. Аеқскәрсиатә автобусқәа ракәзар урҭ раахәара алыршахоит аҭыҧан рҧышәара ашьҭахь.

 

С.Багаҧшь аилацәажәара алахәцәа ргәырҽаниҵеит ахархәагақәа хырҳарыла рныхразы аҭақҧхықәра шрыду. Имҩаҧгахоит џьара-џьара аусбарҭақәа рыҟны агәаҭарақәа. Аилагарақәа аҭыҧ анроу, урҭ рнапхгаҩцәа ҕәҕәала иахьырхәхоит”, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит С.Багаҧшь.

 

Уи иара убас иҳәеит, абҵарамза аҽеиҩшамҭаз Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палата ахаҭарнакцәа шаауа, ахархәагақәа рныхшьа агәаҭаразы.

 

15.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Александр Страничкин: “Ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара мҩаҧаҳгароуп 100% алыҵшәа аманы”

 

“Ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара мҩаҧгатәуп 100% алыҵшәа аманы”, - иҳәеит иахьа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин, ауааҧсыра ашәҟәы рҭагаларазы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәараҟны.

 

Аҳәынҭкомиссиа ахантәаҩы Алеқсандр Страничкин иазгәеиҭеит, ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра дарбанзаалак атәылауаҩ иалахәхара шхадаратәу. Уи ҿырҧшыс иааигеит, Урыстәыла имҩаҧгаз ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра ацәажәарақәа рацәаны ишахылҿиааз. “Еицырдыруа ауаа агәнамӡара аадырҧшуан, ашәҟәҭаҩҩцәа дара рахь ишымнеиз, мамзаргьы ишахьымӡаз “рҭаҩра”, - иҳәеит уи.

 

Аҳәынҭстатистика Аусбарҭа аиҳаҩы Зоиа Аҩыӡба еиҭалҳәеит, ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны адрестә нхамҩақәа рыхәаҧшра шымҩаҧысуаз. “Алагарҭатә етап аҟны аусурақәа зегьы хыркәшоуп еихьӡарала, избанзар, ҵыҧх ашықәс анҵәамҭазы, ҳара анхарҭақәа зегьы ашәҟәы иҭаҳгалахьан. Ашәҟәаҭагалаҩцәа иазгәарҭеит ауааҧсыра ахьынхои иахьнымхои, унхартә иахьыҟами, ааглыхрақәа, аусбарҭақәа иртәу ахыбрақәа, асоциалтә-кәльтуратә ҵакы змоу аобиектқәа, абзазаратә маҵзуреи ахәҳахәҭреи рхыбрақәа”, - лҳәеит Аҩыӡба.

 

Лара лажәақәа рыла, асиақәа ирнырҵон аҩнқәа зегьы (ашәҟәы иҭагалогьы иҭагаламгьы), иара убас аҭаацәарақәа ахьҭаҩу,  ари аҭыӡҭыҧ аҟны иахьнымхо аҩнқәеи.

 

Уи адагьы, лара линформациала, иҳаҩсыз ашықәс,  жьырныҳәеи-рашәарамзақәеи рзы Аҳәынҭстатистика Аусбарҭа аусзуҩцәа акартографиатә материалқәеи ахатәы ҩнқәеи рсиақәа еиҿдырҧшит.

 

“8 қалақьки, 4 ҳаблаки, 105 қыҭеи ркартографиатә материалқәа аус рыдулоуп, “- ишьақәлырҕәҕәеит Аҳәынҭстатистика ахада. “Иҟан ауадаҩрақәа, аха ицәырҵуаз азҵаарақәа рыӡбаразы, ҳара Аҧсны ақалақьқәеи, араионқәеи, ақыҭақәеи  зегьы ҳарҭаауан. Иахьазы ишьақәыргылоуп Ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рзы акартографиатә материалқәа, - ҳәа адырра ҟалҵеит Зоиа Аҩыӡба. Анеира ахьыуадаҩу аҭыҧқәа рыҟны имҩаҧгоуп ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара. Уахь иаҵанакуеит: Аҟәа араион Ҧсҳәы ақыҭеи, Гәылрыҧшь араион Кәыдры аиҩхааи. Ашәҟәы ианҵоуп 500 ҩыуаак рҟынӡа”.

 

Иахьазы иаҧҵоуп35 ашәҟәҭаҩратә ҟәшақәа, 161 рҟынӡа аинструктортә участокқәа, 680 аҧхьаӡаратәи 40 стационартәи участокқәа. “Уажәазы ҳаҿуп ашәҟәаҭаҩҩцәа  апортфельқәа рыла реиқәыршәара. 2011 шықәса жьырныҳәамзазы ихацыркхоит аӡыргаратә компаниа.”

 

А.Страничкин ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ашәҟәҭаҩҩра иадрыҧхьаларц ахадарақәа русзуҩцәеи арҵаҩцәеи. “Иалыҧшаатәуп ашәҟәҭаҩҩра хаҭабзиаралеи еиҿкааралеи еиқәзыршәаша ауаа”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ. Ари аусура, иара иажәақәа рыла, ахә ахшәаахоит. Ашәҟәҭаҩҩцәа рхыҧхьаӡара 1300-ҩыуаак рҟынӡа инаӡозароуп”.

 

2011 шықәсазтәи ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра аҽазыҟаҵареи амҩаҧгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

 

11.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иаарҧшуп ҳашықәсҧхьаӡара ҟалаанӡа V-III ашәышықәсақәа ирыҵаркуа иҧсабаратәым аҧшаах

 

Аҟәа агәаны, ақалақь аӡынхамҩа аусзуҩцәа аҭҳәаа аныржуаз аамҭазы, машәыршәа иақәшәеит ижәытәӡатәиу асаан маҭәа ахьжыз.

 

“Аҭҳәаа ажра ҳанаҿыз аамҭазы ҳара игәаҳҭеит аирыӡ аҧшаахқәа. Сара аусура ааныскылеит, аҧшаахқәа зегьы ҳнапала иҵаҳхырц азы. Ари сара сықалақь, стәыла ауп, исҭахыуп ижәытәӡоу тәыланы аӡбахә рдырырц”, - иҳәеит ақалақь ӡылаиқәыршәара анџьныр Леуан Ҳаџьым.

 

Анышәаҧшь ҧҽыхақәа акерамика иалхыу асаанмаҭәа аҟәрҷахақәа ракәын, ҳашықәсҧхьаӡара ҟалаанӡа V-III ашәышықәсақәа рзы абырзенцәа рхы иадырхәоз. Абас еиҧш алкаа ҟаиҵеит Вадим Бжьаниа, аматериал аилазаара ахә шьо.

 

Археологцәа ражәақәа рыла, ижәытәӡоу аҧшаахқәа рыҟны ҷыдала еиҳа хә-змоу акәны иҧхьаӡоуп, алак еиқәаҵәа зхьыршоу асаан маҭәа аҟәрҷахақәа, аҧшӡаралеи ахаҭабзиаралеи зыхә шьоу, ҳәа азгәанаҭоит "Эхо Кавказа".

 

“Ишазгәарҭаз еиҧш, араҟа иааигәаны инхон абырзен уааҧсыра, урҭ аҭыҧантәи ауааҧсыреи дареи аилахәҳахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан”, - ҳәа аҧшаах ахә шьо иазгәеиҭеит Вадим Бжьаниа.

 

11.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иазгәарҭоит амилициа Амш

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит амилициа Амш. Убри инамаданы аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара ацеремониа.

 

“Ахьӡ-аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара ранашьоуп:

 

Малиа Валерии Васик – иҧа – Ареспублика Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьақәгылареи аизҳазыҕьареи русхк аҟны илагалеи, ламысцқьала имаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡареи рзы.

 

Џьынџьал Владимир Иван-иҧа -  Ареспублика Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьақәгылараҟны илшамҭақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҟны акыршықәсатәи лыҵшәабзиалатәи иусуреи рзы.

 

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа далахәын Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ауааҧсыра ршәарҭадареи азинлеишәа аиқәыршәареи рыҟны рроль. С.Багаҧшь иҳәеит ареспублика анапхгара рганахьала еснагь ишазхиоу ганрацәалатәи ацхыраара аҟаҵара.

 

10.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Абылра иахҟьаны Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟны хҩыуаак рыҧсҭазаара иалҵит

 

Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭа, аурологиа аҟәша аҟны, абҵарамза 9 ахәлҧаз иҟалаз абылра иахҟьаны иҭахеит хҩыуаак.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа Аҟәатәи Русбарҭа аиҳабы Лауренс Коҕониа иажәақәа рыла, абылра шыҟалаз ала аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭахь адырра ҟаҵан 20.55 м.с рзы. Минуҭқәак ирылыршаны амашәыр аҭыҧаҟны иааз амцарцәаҩцәа ирылшеит амца аанкылара, егьырҭ аҟәшақәа амҽханакаанӡа. Аха абылраҟны иҭахеит зықәрахь инеихьаз хаҵеи-ҧҳәыси Симоненкоаа Тҟәарчалынтәи, иара убас аҟәша аилыргаҩ, 66 шықәса зхыҵуаз Наталиа Черновеи.

 

Ақалақь апрокәрор Алиса Бигәаа лгәаанагарала, хаҵеи-ҧҳәыси алҩа иахәаҽызар ауеит, аилыргаҩ – амцабз даблит. Лара лажәақәа рыла, аҧсыбаҩқәа шьҭуп аеқсперизақәа рбиуро ашҟа. Абылра зхылҿиааз аҭагылазаашьақәа реилыргара нап аркыуп. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ аҟны аус руеит аоперативтә-аусеилыргаратә гәҧ.

 

Ахәшәтәырҭа ахәҭак, аурологиа аҟәша ахьыҟаз аҭыҧ 7 минуҭк иалыршаны амца иамҽханакит – иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа аиҳабы Лев Кәыҵниа.

 

Аҟәшаҟны еиқәрхоу аҧҟарҭа мацароуп, амца андырцәа ашьҭахь ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа амедицинатә мыругақәа алыргеит.

 

Аҟәша аҳақьымцәа ражәақәа рыла, зықәрахь инеихьаз Симоненко дыҧҟатәын. Уи иҧшәма ҧҳәыс дихылаҧшуан. Аҟәшаҟны зынӡа ишьҭан 7 ҩыуаак, егьырҭ ааха рмоуӡеит.

 

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧахь инреиит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Сергеи Шамба, азинхьчаратә структурақәа рнапхгаҩцәа.

 

Азинхьчаратә усбарҭақәа макьаназ хҳәаа ҳәа акагьы ҟарҵом. Ашьауҕатә ус хацыркыуп. Аусеилыргара мҩаҧнагоит ақалақьтә прокәратура.

 

Ишеилкаахаз ала, аурологиатә ҟәша ахыбраҟны, абылра ҟалаанӡа аремонттә усурақәа мҩаҧган.

 

09.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Леонид Ӡаҧшьба: амилициа рҟны аус рулароуп зыламыс цқьоу, зус бзиа избо, маха-шьахала иҕәҕәоу аҿар

 

Абҵарамза 10 рзы Аҧсуа милициа иазгәанаҭоит азаанаҭтә ныҳәа. Ари амш аҽны агәрҕьаратә еилатәареи аконцерти мҩаҧысуеит Р.Гәмба ихьӡ зхыу Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

 

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Л.Ӡаҧшьба, аныҳәа аламҭалазы Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицо аефир ала дықәгыло, амилициа аусзуҩцәа зегьы ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа, ирзеиҕьаишьеит ақәҿиарақәа имариам рус ҧшьа аҟны.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, Аҟәа ақалақьи, ареспублика егьырҭ ақалақьқәеи, араионқәеи зегьы рыҟны азинлеишәа аиқәыршәара хырхарҭас измоу аусмҩаҧгатәқәа рҕәҕәоуп, Ҧсоу инаркны Егрынӡа еиҭарҿыцуп ААИ апостқәа зегьы русура.

 

Аҟәа уахгьы-ҽынгьы  апатрультә ҷаҧшьара мҩаҧысуеит. Апатрультә машьынақәа зегьы радиоеимадагала еиқәыршәоуп. Аминистр иажәақәа рыла, уи азхом. Аҟәа 12 рҟынӡа апатрультә машьынақәа ыҟазароуп, иара убас ареспублика егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны рхыҧхьаӡара иацҵатәуп апатрультә машьынақәа.

 

“Ҳара иааҳхәоит атехника, ашықәс нҵәаанӡа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа, зегь раҧхьаӡа иргыланы апатрультә маҵзура, аусра активтәхоит. Ҳара ҳамчқәа еихаҳҳалоит”, - иҳәеит Ӡаҧшьба. Иара иажәақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акадрқәа азхом, аха амилициа иаду аҭакҧхықәра нанагӡалароуп.

 

Ӡаҧшьба гәнамӡарыла инаҵшьны иҳәеит, аҿар ргәы ацҧыҳәаны амилициахь усура ишымаауа. “Ҳара ҳазхиоуп, ахҧатәи акәрс ашьҭахь астудентцәа усура рыдкылара. Акандидатурақәа ҭаҳҵаауеит, уи ашьҭахь ирыдаҳгалаша амаҵзура ҭыҧ азы аӡбара ҳадаҳкылоит. Амилициа аҳаҭыр иара аусзуҩцәа ирыбзоуроуп”,- иҳәеит Ӡаҧшьба.

 

Амҩа-транспорттә машәырқәа раҧырҟәҟәаара хырхарҭас измоу аусмҩаҧгатәқәа ртәы дазааҭгыло, аминистр иазгәеиҭеит, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада мчыбжьык ахь ҩынтә апрофилактикатә усмҩаҧгатәқәа шымҩаҧырго. “Аусусра алыҵшәақәа уаҩы ибоит. Ашықәс нҵәаанӡа, ареспублика амилициатә постқәа зегьы рҭагылазаашьа акырӡа еиҕьаҳтәуеит. Урҭ зегьы ибзианы ирлашахоит, ҳаамҭа иақәшәо арадиотехникатә мыругала еиқәыршәахоит, уаҟа иқәыргылахоит авидео-ацклаҧшыгатә аппаратқәа, амҩатә ныҟәара аҧҟарақәа еилазго рнаҩсангьы,  ҳара игәаҳҭалоит апостқәа рыҟны игылоу азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа русурагьы”. – иҳәеит Ӡаҧшьба.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр агәра диргеит Ҧсоу-Егры  иаҵанакуа амҩаду “ҿырҧшыганы” ишыҟало ала.

 

Аминистр иинформациала, аҵыхәтәантәи амза иалагӡаны, жьҭаара 1 инаркны абҵара 1 –нӡа, ААИ аганахьала, 2 245 ҧкаанҵа шышьақәыргылоу, ижәны аҧсҟы зкыз 225 –ҩыуаак шаанкылоу, 180 рҟынӡа машьына шрымху. Урҭ рыбжьара иҟоуп ашәҟәы иҭагалам амашьынақәа, аҳәынҭқарратә дыргақәа змам уҳәа убас егьырҭгьы. Докәментда, мамзаргьы атехгәаҭара ада аныҟәара аӡәгьы дақәиҭым”, – иҳәеит аминистр.

 

Ӡаҧшьба иҳәеит, аибашьра ашьҭахь Аҧсны амҩа-транспорттә машәырқәа ирыхҟьаны 400- ҩыуаак рҟынӡа шҭахахьоу. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, апрофилактикатә усмҩаҧгатәқәа ирыбзоураны, амашәырқәа  акыр еиҵахеит”, - иҳәеит аминистр, убри аан иазгәеиҭеит абри ахырхарҭала аусура иҵегьы иширҕәҕәо.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа Тҟәарчалтәи рраионтә ҟәша аиҳабы данбаҟаҵахо ҳәа ателехәаҧшҩы изҵаара аҭак ҟаҵо, Л. Ӡаҧшьба иҳәеит “ аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Руслан Делба ҽыхәшәтәра Москва дшыҟоу. Делба даныгьежьлак даҽа маҵурак идгалахоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Тҟәарчалтәи рраионтә ҟәша аиҳабыс дҟаҵахоит даҽаӡәы”.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ииашам ҳәа иазиҧхьаӡоит, аҭаацагацәа рмашьынақәа, егьырҭ аҧсҟы зкыу амашьынарныҟәцаҩцәа ианырҧырхагахо.

 

“Ҳара еилаҳкаауеит, аҭаацәа ҿыц рира агәрҕьара шацу. Аха уи иаанагом азинлеишәа еилагатәуп ҳәа. Избан, уи иахҟьаны даҽа џьоукы ааха зроура?, - иҳәеит аминистр. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҧсшьара мшқәа рзы, еиҳа ачарақәа анырацәоу. Аҟәа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа шыҷаҧшьо ачарақәа раан еиҳа ауаа ахьырацәоу аҭыҧқәа рыҟны – АҬАР, Аботаникатә баҳча, атеатр, Ахьӡ-аҧша Амемориал, аҧшаҳәаҟны” – иҳәеит Ӡаҧшьба.

 

09.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ауаажәларратә Палатаҟны имҩаҧысит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҧылара

 

Ауаажәларратә палатаҟны имҩаҧысит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба иҧылара.

 

Аминистр Апалата алахәылацәа идирдырит ацәгьоура аҿагылара аҭагылазаашьеи аҧхьаҟатәи аусмҩаҧгатәқәеи. Аиҧылараҟны хыҧхьаӡара рацәала ирҭоз азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

 

Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаба агәыҕра аалырҧшит, аминистрреи ауаажәларреи рыбжьара Ауаажәларратә палата еимадага хаданы иҟалап ҳәа.

 

03.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада даҭааит Урыстәыла Афедерациаҿ иҟоу Ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа

 

Усуҩтә визитла Москва иҟоу Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь даҭааит Урыстәыла Афедерациаҿ иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа.

 

Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи рҧылараан Сергеи Багаҧшь далацәажәеит ацҳаражәҳәарҭа аҿиара аперспективақәа.

 

Ацҳаражәҳәарҭа аҭакҧхықәра ду зцыу аусура атәы дазааҭгыло, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылараҟни иара убас Москва Аҧсны раҧхьатәи ацҳаражәҳәарҭа аартреи шрыбзоурахаз Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵаз инамаданы.

 

Сергеи Багаҧшь еиҭеиҳәеит, еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара атәы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит Москва иҟоу аҧсуа диаспореи Ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәарҭеи иааигәаны русеицура аҵак ҷыда аҧсуа кәльтуреи аҟаәареи рӡыргара аусхк аҟны.

 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, аҳәынҭқарра Ахада иаҳаҭыраз аныҳәатә уаххьа еиҿкаан. Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟаҵан ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура аҟынтә.

 

03.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь Дилма Руссеф илыдиныҳәалеит Бразилиа аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны илгаз аиааира

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Дилма Руссеф илыдиныҳәалеит Бразилиа аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны илгаз аиааира.

 

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иазааҭгылоуп:

 

“Ажәлар ргәаҭахра алыҵшәақәа иаадырҧшит, шәнапы злакыз ауаажәларра-политикатә усураҟны шәзыҧсахаз агәрагара ду. Бразилиа аҳәынҭқарра Ахада Луис Инасиу Лула да Силва ицымҩаҧыжәгоз аполитика иабзоураны, Афедеративтә республика Бразилиа ганрацәалатәи аҿиараҟны шәлагала дууп”.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Дилма Руссеф илзеиҕьеишьеит лмаҵзураҟны ақәҿиарақәа, Бразилиа ажәлар аҭынчреи аизҳаӡыҕьареи. Абри азы Аҧсныпресс апхь адырра ҟарҵеит аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟынтә.

 

02.11.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада