AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 

 Аҧсны Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу реилатәараҿы ирыхәаҧшит 10 зҵаарак инарзынаҧшуа

 

Аҟәа, Аилатәара алагамҭазы ирыхәаҧшын акадртә зҵаарақәа. Афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Кама Гогиа лмаҵура аҟынтә лхы дақәиҭтәуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоу ахылаҧшратә-ревизиатә усбарҭа аиҳабыс дахьыҟаҵоу инамаданы. Аҧыза-министр А.Анқәаб аиҳабыра рыхьӡала ҭабуп ҳәа леиҳәеит лусура ахаҭабзиаразы, агәыҕра шимоугьы иҳәеит дызхагылоу лмаҵура ҿыц аҟынгьы ақәҿиара бзиақәа шаалырҧшуа ала.

Саратовтәи Аҳәынҭқарратә аграртә унивирситет аушьҭымҭа, аекономикатә наукақәа ркандидат Бадра Гәынба Аҧсны акультура аминистр ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵоуп. Бадра Гәынба ари амаҵура иахаргылара шьаҭас иамоу дазааҭгыло, аҧыза-министр иҳәеит „акультура аминистрраҟны иахьа ишыҧсыҽу аекономика аҭагылазаашьа“.

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиа аиҳабыра рхада адгылара иҭо иазгәеиҭеит, акультура аминистрраҟны аекономикатә еиҿкаашьа шыӡбатәу; аҳәынҭқарра ишзалымшо акымкәа-ҩбамкәа ансамбльқәа рныҟәгаразы ахарџьқәа ршәара“.

Асида Џьынџьал  – Аҧсуа ҳәынҭқарратә унивирситет аушьҭымҭа, дҟаҵоуп Аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс – ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара аҟәша аиҳабыс. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, „ иааигәахоит ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара аамҭа, жәаҳәарада ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп имариам аус.“ Уи ишахәҭоу аиҧш еиҿкаатәуп“, - иазгәеиҭеит Анқәаб. Уи дызхагыло аус аҟны аихьӡарақәа лзеиҕьеишьеит.

Аминистрцәа реилазаара 2008 шықәса, лаҵарамза 20 рзы, Гагра ақалақь аҟны зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара „Гагра аеҵәа“ асасааирҭа аргыларазы 0,93 гектар адгьыл аамҭалатәи ахархәарахьы рыҭаразы ирыдыркылаз Ақәҵара мап ацәыркит. Излеилкаахаз ала, ари атерриториа апарк аҭыҧ иаҵанакуеит, уаҟа аргыларақәа рымҩаҧгарагьы залыршахом.

Аиҳабыра алахәлацәа, иара убасгьы аӡбара рыдыркылеит, зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара „Мамаҭ“ аҧсшьарҭа ҽыхәышәтәырҭа ҩны аргыларазы аамҭала гектарк адгьыл Гал ақалақь аҟны иазалхзарц, иара убасгьы Очамчыра ақалақь аҟны зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара „Виктриа-К“ аҧсшьарҭа ҩны аргыларазы 1,7 гектар адгьыл азалхызарц.

2008 шықәса, нанҳәамза 25 рзы аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз Ақәҵарала ахаҭәаарақәа алагалоуп аҭаацәа рсиақәа „1992-93 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ҩыџьа ҭаацәарак аҟынтә иахьҭахаз есымза ирзыршәо ацхыраагӡақәа рышьақәыргыларазы“.

Аиҳабыра ишьақәдыргылеит, Ареспублика Аҧсны Аминистрцәа Рхеилак раҧхьатәи анапхгаҩы, 1992-93 шш.рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аан Аҳәынҭқарратә хыхьчаратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Иван Зарандиа есымза изшәалахоит 10.000 нызқь мааҭ аҧара, иара убасгьы автомашьына аахәаразы, аиҳабыра ррезерв аҟынтә изоужьхоит аҧара.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра зыҧсҭазаара иалҵхьоу ҧасатәи аусзуҩцәа Анатоли Шониеи Ахра Акабеи рҭаацәа, 2009 шықәса , жәабран мза 1 инаркны ирызшәалахоит 2000 мааҭ аҧара.

Л.Лакербаиа иажәақәа рыла, Анатолии Шониеи Ахра Акабеи Аҧсадгьыл азын ирылдыршаз рацәоуп. Анатолии Шониа иҧсҭазаара ддалҵит аибашьра ашьҭахь. Аибашьраан Мрагыларатәи афронт аҟынтә арепортажқәа ҟаиҵон. „Мрагыларатәи афронт аҟынтә Аҧсуа телехәаҧшра архивтә кадрқәа аҕьырак Анатолии Шониа иҭыхымҭақәа роуп“, - иҳәеит Лакербаиа. Аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз ателеоператор Ахра Акаба , ақырҭуа плен аҟны иҟазараан ихигаз игәабзиара ианымҧшыр амуит. „Ахра Акаба аибашьра зегьы, аплен аҟынтә даныхынҳә инаркынгьы изанааҭ ала аус иуан; уи иусумҭақәа аҭоурых азын зеиҕьыҟам ҭыхымҭақәоуп“, - азгәеиҭеит Лакербаиа.

Аинвалидцәа тәанчахәыла реиқәыршәара азҵаатә дазааҭгыло, аҧыза-министр иазгәеиҭеит:“Иҟоуп иаҧу амедицинатә ҷыдарақәа ахымхәара ашьақәыргыларазы, ҳара ҳзын иахьа макьанагьы еилыргам. Иахьа иҟоуп амаҵура иалоу актәи аҩбатәи аинвалидразы агыҧқәа змоу. Актәи агәыҧ аинвалид аус злеиуеи, амедицинатә ҷыдарақәа рыла, уи дтәалада ҧсыхәа имамзар?“

Иахьазы, Аҧсны актәи агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәа рхыҧхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит, 1000-ҩык аҩбатәи агәыҧ.

„Иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны, ҳара алкаа ҟаҳҵеит; аинвалидцәа рсиа ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәазар, аҭагылазаашьа ҳауеит урҭ ртәанчахәқәа рыцҵаразы“, - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳабыра рхада игәаанагарала, актәи агәыҧ аинвалидцәа 10 000 мааҭ рҟынӡа роулароуп, аҩбатәи агәыҧ – 4000 мааҭ иреиҵамкәа, 3 – тәи 3 нызқь мааҭ иреиҵамкәа.

„Иҟоу афинанстә ресурсқәа ииашаны еихшатәуп“, - ихиркәшеит аҧыза-министр.

 

31.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу реилатәараҿы ирыхәаҧшит 10 зҵаарак инарзынаҧшуа

 

Аҟәа, Аилатәара алагамҭазы ирыхәаҧшын акадртә зҵаарақәа. Афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Кама Гогиа лмаҵура аҟынтә лхы дақәиҭтәуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоу ахылаҧшратә-ревизиатә усбарҭа аиҳабыс дахьыҟаҵоу инамаданы. Аҧыза-министр А.Анқәаб аиҳабыра рыхьӡала ҭабуп ҳәа леиҳәеит лусура ахаҭабзиаразы, агәыҕра шимоугьы иҳәеит дызхагылоу лмаҵура ҿыц аҟынгьы ақәҿиара бзиақәа шаалырҧшуа ала.

Саратовтәи Аҳәынҭқарратә аграртә унивирситет аушьҭымҭа, аекономикатә наукақәа ркандидат Бадра Гәынба Аҧсны акультура аминистр ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵоуп. Бадра Гәынба ари амаҵура иахаргылара шьаҭас иамоу дазааҭгыло, аҧыза-министр иҳәеит „акультура аминистрраҟны иахьа ишыҧсыҽу аекономика аҭагылазаашьа“.

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиа аиҳабыра рхада адгылара иҭо иазгәеиҭеит, акультура аминистрраҟны аекономикатә еиҿкаашьа шыӡбатәу; аҳәынҭқарра ишзалымшо акымкәа-ҩбамкәа ансамбльқәа рныҟәгаразы ахарџьқәа ршәара“.

Асида Џьынџьал  – Аҧсуа ҳәынҭқарратә унивирситет аушьҭымҭа, дҟаҵоуп Аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс – ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара аҟәша аиҳабыс. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, „ иааигәахоит ауааҧсыра ашәҟәы рҭагалара аамҭа, жәаҳәарада ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп имариам аус.“ Уи ишахәҭоу аиҧш еиҿкаатәуп“, - иазгәеиҭеит Анқәаб. Уи дызхагыло аус аҟны аихьӡарақәа лзеиҕьеишьеит.

Аминистрцәа реилазаара 2008 шықәса, лаҵарамза 20 рзы, Гагра ақалақь аҟны зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара „Гагра аеҵәа“ асасааирҭа аргыларазы 0,93 гектар адгьыл аамҭалатәи ахархәарахьы рыҭаразы ирыдыркылаз Ақәҵара мап ацәыркит. Излеилкаахаз ала, ари атерриториа апарк аҭыҧ иаҵанакуеит, уаҟа аргыларақәа рымҩаҧгарагьы залыршахом.

Аиҳабыра алахәлацәа , иара убасгьы аӡбара рыдыркылеит, зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара „Мамаҭ“ аҧсшьарҭа ҽыхәышәтәырҭа ҩны аргыларазы аамҭала гектарк адгьыл Гал ақалақь аҟны иазалхзарц, иара убасгьы Очамчыра ақалақь аҟны зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара „Виктриа-К“ аҧсшьарҭа ҩны аргыларазы 1,7 гектар адгьыл азалхызарц.

2008 шықәса, нанҳәамза 25 рзы аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз Ақәҵарала ахаҭәаарақәа алагалоуп аҭаацәа рсиақәа „1992-93 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ҩыџьа ҭаацәарак аҟынтә иахьҭахаз есымза ирзыршәо ацхыраагӡақәа рышьақәыргыларазы“.

Аиҳабыра ишьақәдыргылеит, Ареспублика Аҧсны Аминистрцәа Рхеилак раҧхьатәи анапхгаҩы, 1992-93 шш.рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аан Аҳәынҭқарратә хыхьчаратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Иван Зарандиа есымза изшәалахоит 10.000 нызқь мааҭ аҧара, иара убасгьы автомашьына аахәаразы, аиҳабыра ррезерв аҟынтә изоужьхоит аҧара.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра зыҧсҭазаара иалҵхьоу ҧасатәи аусзуҩцәа Анатоли Шониеи Ахра Акабеи рҭаацәа, 2009 шықәса , жәабран мза 1 инаркны ирызшәалахоит 2000 мааҭ аҧара.

Л.Лакербаиа иажәақәа рыла, Анатолии Шониеи Ахра Акабеи Аҧсадгьыл азын ирылдыршаз рацәоуп. Анатолии Шониа иҧсҭазаара ддалҵит аибашьра ашьҭахь. Аибашьраан Мрагыларатәи афронт аҟынтә арепортажқәа ҟаиҵон. „Мрагыларатәи афронт аҟынтә Аҧсуа телехәаҧшра архивтә кадрқәа аҕьырак Анатолии Шониа иҭыхымҭақәа роуп“, - иҳәеит Лакербаиа. Аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз ателеоператор Ахра Акаба , ақырҭуа плен аҟны иҟазараан ихигаз игәабзиара ианымҧшыр амуит. „Ахра Акаба аибашьра зегьы, аплен аҟынтә даныхынҳә инаркынгьы изанааҭ ала аус иуан; уи иусумҭақәа аҭоурых азын зеиҕьыҟам ҭыхымҭақәоуп“, - азгәеиҭеит Лакербаиа.

Аинвалидцәа тәанчахәыла реиқәыршәара азҵаатә дазааҭгыло, аҧыза-министр иазгәеиҭеит:“Иҟоуп иаҧу амедицинатә ҷыдарақәа ахымхәара ашьақәыргыларазы, ҳара ҳзын иахьа макьанагьы еилыргам. Иахьа иҟоуп амаҵура иалоу актәи аҩбатәи аинвалидразы агыҧқәа змоу. Актәи агәыҧ аинвалид аус злеиуеи, амедицинатә ҷыдарақәа рыла, уи дтәалада ҧсыхәа имамзар?“

Иахьазы, Аҧсны актәи агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәа рхыҧхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит, 1000-ҩык аҩбатәи агәыҧ.

„Иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны, ҳара алкаа ҟаҳҵеит; аинвалидцәа рсиа ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәазар, аҭагылазаашьа ҳауеит урҭ ртәанчахәқәа рыцҵаразы“, - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳабыра рхада игәаанагарала, актәи агәыҧ аинвалидцәа 10 000 мааҭ рҟынӡа роулароуп, аҩбатәи агәыҧ – 4000 мааҭ иреиҵамкәа, 3 – тәи 3 нызқь мааҭ иреиҵамкәа.

„Иҟоу афинанстә ресурсқәа ииашаны еихшатәуп“, - ихиркәшеит аҧыза-министр.

 

31.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны дааит Урыстәыла Афедерациаҿ Конго ацҳаражәҳәаҩ

 

Аҟәа, Аҧсны дааит Урыстәыла Афедерациаҿ  Адемократиатә Республика Конго ацҳаражәҳәаҩ Моиз Кабаку Мучаил. Уи дымҩаҧигоит Урыстәыла Афедерациаҿ Конго аконсул Сергеи Ковалиов.

Иахьа, Конго аделегациа идикылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь. Аиҧылара иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, 2008 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра шазханаҵаз, уи инашьҭарххны Никарагәуа. С.Багаҧшь гәыҩбара шимамыз иҳәеит, „егьырҭ атәылақәагьы Аҧсны ихьыҧшым адемократиатә ҳәынҭқарра ҳәа ишазхарҵо ала“.“Аус ҳацуреи ҳҩызареи ирызхиоу аҳәынҭқаррақәа зегьы рыҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳазыхиоуп. Уи азын иаҧҵоуп аҭагылазаашьақәа зегьы“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

„Сара насыҧ сымоуп ҳәа сыҧхьаӡоит, иахьа Аҧсны сахьаҭааз, иҭабуп ҳәагьы иасҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада абас еиҧш иҧшӡоу атәылахь ааҧхьара ахьсиҭаз азы,– ҳәа иҳәеит Урыстәыла Афедерациаҿ Конго ацҳаражәҳәаҩ. „Сара ари ааҧхьара гәык-ҧсык ала исыдыскылеит. Агәыҕрагьы сымоуп, наҟ-наҟ Адемократиатә Республика Конгои Ареспублика Аҧсни реимадарақәа рырҕәҕәараҿы ицхыраагӡахоит ҳәа“.

Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит, Конго Апрезидент Жозеф Кабила ишизеиҭеиҳәо араҟа иибаз иаҳаз зегьы. „Жәабран мзазы, сара Конгоҟа ацара сгәы иҭоуп.Гәаҳәарас исымоу- ҳапрезидент шәтәыла аҭааразы ааҧхьара инапаҿы изҭаша Аҧсны ахаҭарнак аделегациа иалархәроуп - азгәеиҭеит адипломат.

С.Багаҧшь Моиз Кабаку Мучаил иҟаиҵаз ажәалагала адгылара аҭо иазгәеиҭеит, аделегациа аилазааоаҿ Аҧсны ахаҭарнак иалархәра азҵаара ӡбазарц шалшо.

„Конго идуу, еицырдыруа тәылоуп, ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара арахь шәахьымҩахыҵыз, - иҳәеитАҧсны Аҳәынҭқарра Ахада. – Аҧсны ашьақәгылара апроцесс мҩаҧысуеит. Ҳара иуадаҩыз аҭоурыхтә мҩа ҳанысит, 1992-1993 шш- ҳажәлари ҳреспубликеи рзын ихьанҭан, иара убасгьы аҵыхәтәантәи 15 шықәса. Аха, ҳара иҳаман ахықәкы – ахьыҧшымра аиура, уи агьалҳаршеит“.

С.Багаҧшь Конго Апрезидент Жозеф Кабила азеиҕьашьарақәа изыцҳауа, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны шазхиоу Конго аҳәынҭқарра иарбан усхкызаалак аҟны адгылара аҭара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Конго ацҳаражәҳәаҩ ианаишьеит Ахьыҧшымреи Аҧсны Жәлар риаареи раҳаҭыр азын иҭыжьыз ахьтәы иубилеитә монетақәа.

Урыстәыла Афедерациаҿ Конго аконсул хада Сергеи Ковалиов инаҵшьны иазгәеиҭеит иара изын акыр шаҵанакуа иахьатәи, иара игәаанагарала, иҭоурыхтәу ҳәа ззиҳәаз аиҧылара.

Сергеи Ковалиов, Жәларбжьаратәи Афедерациа Теквон-До апрезидентк иаҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ианаишьеит атитулқәа зегьы.

Ковалиов, иара убасгьы иҳәеит, Афедерациа шазхиоу Теквон-До Аҧсны аҿиаразы аинструкторцәеи аспортсменцәеи рыла ацхыраара аҟаҵара.

Аиҧылара ахыркәшамҭазы Конго ацҳаражәҳәаҩ ажурналистцәа иреиҳәеит Аҧсны даара ишигәаҧхаз. Ари иџьашьахәу иҧшӡоу тәылоуп. Ҳара амҩа ҳахьынӡақәыз, ааҧсарак ҟамҵо срыхәаҧшуан ганкахьала амшыни, даҽа ганкахьала сыла иҭалаҳау ашьхақәеи“,- иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Конго адипломат уаҵәы Аҧсны аанижьуеит.

 

22.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит амилаҭ маҷқәа рызҵаатәқәа рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебек

 

Аҟәа, Уаанӡатәи Аҧсныҟа ивизитқәа раан ОБСЕ Иреиҳаӡок Акомиссар Кнут Воллебек дырҧылахьан Гал араион ауааҧсыра. Апатын Воллебек иажәақәа рыла, урҭ аиҧыларақәа ирыбзоураны, агәаанагара шиоуз иҳәеит, Гал араион ауааҧсыра Аҧсны анхареи аусуреи шырҭахыу ала.

 

Гал араион ашколқәа рҟны қырҭбызшәала аҵара рҵаразы Аҧсны амчрақәа ҧынгыла шыҟарымҵо афакт азгәаҭо, Кнут Воллебек ажәалагала ҟаиҵеит Аҧсны ишьақәырҕәҕәаны иҭыжьу арҵага шәҟәқәа рыла нап адыркырц Аҧсны аҭоурыхи агеографиеи қырҭбызшәала дырҵара.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада апатын Воллебек адырра ииҭеит иахьа Аҧсны ишынхо ф-нызқьҩыуаак инарзынаҧшуа ақырҭқәа. „Ҳара Гал араион ахҵәацәа рыргьежьразы аӡбара ҳадаҳкылахьан, иахьатәи аамҭазы урҭ ҧынгыла рымам ақырҭуа архәҭақәа рыҟнытә зых иақәиҭу Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа ақыҭақәа рахь рыгьежьразы,- иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. С.Багаҧшь, иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Гал араион ауааҧсыра амилаҭттә паспортқәа риура азин шрымоу, аха убри аан урҭ мап ацәыркыроуп Қырҭтәыла атәылауаҩра.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебеки егьырҭ азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

 

21.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҵарадырра аминистр Гал ақалақь аҟны имҩаҧылгеит араион аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз аилатәара

 

Гал, Гал араион аҵарадырратә усҳәарҭақәеи аҵара – ааӡаратә процесси рҭагылазаашьа иазкын, аҵарадырра аминистр Индира Аҩардан Гал ақалақь ашкол №1 аҟны имҩаҧылгаз аилатәара. Аилатәара иалахәын араион аҵарадырратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа зегьы, ашкол аиҳабацәеи урҭ рхаҭыҧуааи, ахәыҷбаҳчақәа реиҳабацәа, Галтәи агәманитартә коллеџь анапхгара.

 

Иҟоу ауадаҩрақәа инарымаданы, ашколқәа реиҳабацәа иазгәарҭон аҭыҧ змоу аиҭакрақәагьы, хәҭакахьала, аметодикатә цхыраареи, аҵарадырра аиҿкаарақәа русеицура арҕәҕәареи рганахьала.

 

Аилатәара иалахәыз ҭабуп ҳәа ахырҳәааит аҵарадырра ахыбрақәа рҟны имҩаҧгаз аремонттә усурақәа рзы.

 

Индира Аҩардан иазгәалҭеит аҵара апроцесс еиҕьтәымзар  ада ҧсыхәа шыҟам , аҵарадырра аминистрра ишьақәнарҕәҕәаз арҵаратә плани апрограммақәеи инҭкааны рықәныҟәара шалыршатәу.

 

Аилатәаораҟны иазааҭгылан, иара убасгьы Аҳәынҭқарратә бызшәеи, Аҧсны аҭоурыхи, агеографиеи ашколқәа рҟны рырыҵара хырҩаа ҕәҕәа шаҭахо. Аиҧылараҟны иазгәаҭан Гал араион аметодикатә цхыраара азыҟаҵаразы хықәкылатәи аусмҩаҧгатәқәа. Абри азы адырра ҟарҵеит аҵарадырра аминистрраҟны.

 

21.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылоит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке

 

Аҟәа, Иахьа , Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылоит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке. Аиҧылараҟны ирылацәажәараны иҟоуп ООН амиссиа Аҧсны аусура иадҳәалоу азҵаатәқәа.

 

Иахьаҵәҟьа, Аҳәынҭқарра Ахада дидикылоит амилаҭ маҷқәа рызҵаарақәа рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебек.

 

21.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ауаажәларра-политикатә ҵысра „Аиҭаира“ аусура иацнаҵоит

 

Аҟәа, Ауаажәларра-политикатә ҵысра „Аиҭаира“ аусура иацнаҵоит. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит „Аиҭаира“ ахантәаҩы Леонид Лакербаиа.

 

„Ауаажәларра-политикатә ҵысра „Иакыу Аҧсны“ апартиа ҳәа ахьӡ ахьеиҭакыу, уи Аҵысра аҩныҵҟатәи усуп. Ҳара ҳшыҟаз аиҧш ауаажәларра-политикатә ҵысраны ҳаанхоит“ – иазгәеиҭеит Лакербаиа.

 

Ааигәа имҩаҧысит ауаажәларра-политикатә ҵысра „Аиҭаира“ аполитхеилак аилатәара, уаҟа иахәаҧшын Аҵысра аринахыстәи аполитикатә усура азҵаатәқәа.

 

„Иабанӡазалшои, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩи ауаажәларра – политикатә ҵысра „Аиҭаира“ анапхгареи реидбалара ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо Л.Лакербаиа иҳәеит:“Жәа    хәарада, арҭ амаҵурақәа реидбалара ауадаҩрақәа ацуп. Аҵысра исыцалоу сҩызцәа ауаажәларра-политикатә усура мацара сҽазыскыроуп ҳәа рыҧхьаӡозар, сара уи сазыхиоуп“.

 

Ауаажәларра-политикатә ҵысра „Аиҭаира“ аҧҵан 2001 шықәса рзы. Аҵысра аполитикатә хеилак шьақәгылоуп 23 –ҩыуаак рыла. Аполитикатә хеилак апрезидиум иалоуп: Леонид Лакербаиа, Олег Дамениа, Ирина Агрба, Виачеслав Кокосқьыр, Даур Наҷҟьебиа, Роман Гериа.

 

„Аҧсны ахьынӡа-наӡааӡо „Аиҭаира“ иамоуп арегионалтә еиҿкаарақәа.

 

20.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Ареспублика амҩадуқәа рҟны ашәарҭадара аиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара мҩаҧигеит

 

Ҷыдала амҩадуқәа рҟны ашәарҭадара аиқәыршәара азҵаара иазкын иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигаз аилатәара. Аилатәара иалахәын Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистр Оҭар Хьециа, Аҳәынҭеилазаара „Абхазавтодор“ анапхгаҩы Леонид Лолуа, Аҳәынҭавтоинспекциа ахаҭарнакцәа.

 

С.Багаҧшь амҩадуқәа рҟны ашәарҭадара аҭагылазаашьа атәыла апроблема хадақәа ируакыуп ҳәа азиҳәеит. “ Амҩадуқәа рҟны иҭахоит ауаа рацәа. Уи азын ҷыдала ауснагӡатәқәа ҳадҳамкылар, аҭагылазаашьа еиҳагьы иуадаҩхоит“, - иҳәеит уи.

 

Аҳәынҭқарра Ахада аӡбара идикылеит, иҧсабаратәым амҩатә ҧынгылақәа раахәаразы иҵегьы ихарҭәаау ахархәагақәа рзоужьразы, урҭ шьҭаҵахоит ақалақь амҩадуқәа рҟны. Иҧсабаратәым амҩатә ҧынгылақәа шьақәыргылахоит, иара убасгьы ареспублика амҩадуқәа рҟынгьы.

 

„Ари апроблема зегьы азыӡбом, аха уаҳагьы ҧсыхәа ыҟам. Аҳәынҭқарра Ахада Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра ааҧхьара аиҭеит амҩа-патрультә маҵзура арҕәҕәаразы. С.Багаҧшь иазгәеиҭеит амҩадуқәа рҟны авидеоцклаҧшратә камерақәа рышьақәыргылара ада ҧсыхәа шыҟам.

 

07.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада