AҦCУAA  PЫБЖbbI

                                        -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------            Аҧсуа шрифт



 

 Хәажәкырамза 1 инаркны ирыцҵахоит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хаҭалатәии атәанчаҩцәеи рпенсиақәа

 

Aҟәa, Хәажәкырамза 1 инаркны ирыцҵахоит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хаҭалатәии атәанчаҩцәеи рпенсиақәа.

 

“Ареспублика Аҧсны апенсионерцәа категориақәак рпенсиақәа рыцҵареи” иара убас “Ареспублика Аҧсны хаҭалатәи апенсиақәа зауеи” рзы азакәанқәа аҧсахрақәа рылагалан жьырныҳәа 29 рзы имҩаҧысуаз адепутатцәа реилатәараҟны.

 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра актәи агәыҧ иаҵанакуа апенсионерцәа мызкы ироулоит 5000 нызқь мааҭ, аҩбатәи агәыҧ – 3500 мааТ, ахҧатәи – 2500 мааҭ.

 

Апенсионерцәа “Аҧсны Афырхаҵа” ҳәа ахьыӡ занашьоу есымза ироулоит 4000 нызқь мааҭ, “Леон” иорден занашьоу – 3500 мааҭ, “Агәымшәаразы”амедал – 2500 мааҭ.

 

“1360 –ҩыуаак рпенсиақәа ирыцҵахоит. Ихаҭәаау ахархәагақәа идыртәоит 13,68 миллион мааҭ. Урҭ ыҟоуп Апенсиатә фонд аҟны,” – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак.

 

Хаҭалатәи апенсионерцәа ироулоит 5000 нызқь мааҭ аҧара. “Хаҭалатәи апенсиақәа роулоит 126-ҩыуаак – ишьақәирҕәҕәеит Дмитрии Шамба. – Уи азы иаҭаххоит 1,26 миллион мааҭ. Урҭ иара убас илҩаахоит апенсиатә фонд аҟнытә.”

 

29.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Жьырныҳәа 28 рзы Женева имҩаҧысуаз Кавказ ашәарҭадаразы жәларбжьаратәи ацәажәарақәа а-9-тәи рраунд хыркәшахеит лыҵшәада

 

Женева, Жьырныҳәа 28 рзы Женева имҩаҧысуаз Кавказ ашәарҭадаразы жәларбжьаратәи ацәажәарақәа а-9-тәи рраунд хыркәшахеит лыҵшәада.

 

Аҧсуа делегациа ахада, Аҳәынҭқарра ахада жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Виачеслав Чырыкба Женевантә ҭелла аҧсуа телехәаҧшрахьы излааицҳаз ала, “лыҵшәа ҳәа акагьы ыҟам”.

 

“Амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра апроект алацәажәарахь аиасразы ааҧхьарақәа шыҟаҳҵозгьы, аиҿкааҩцәа ари аетап аҟны азааибагаратә докәмент аҧҵара шзалымшо азгәаҭо, адгылара арҭон  ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи анырра рзыҟаҵареи рзы Гал араион аҟны имҩаҧысуа хә-ганктәи аиҧыларақәа .”

 

Чырыкба инаҵшьны иазгәеиҭеит “Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рзы зегь раҧхьаӡа иргыланы ишхадароу Аҧсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара жәларбжьаратәи агарантиа аманы амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алыршара”.

 

Аҧсуа делегациа алахәыла, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа иазгәеиҭеит, “ақырҭуа ган аҽазҵәылхны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҭагылазаашьа иаҿагылон, убри аан урҭ иазгәарҭон, ари адокәмент анапаҵаҩразы дҵаҟаҵараны ишықәдыргыло, дара рҳәашьала Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхы рақәиҭтәра”.

 

“Қырҭтәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит, ас еиҧш Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы, раҧхьаӡа иргыланы Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟнытә иалгатәуп Урыстәылатәи архәҭақәа, уаҟа иргылатәуп жәларбжьаратәи анаҧшратә мчрақәа” –ҳәа.

 

Ас еиҧш азнеишьа адкылара, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ игәаанагарала,  зынӡаск изалшаӡом, иҳәатәуп араҟа, ақырҭуа ган адҵа шыҟанаҵо, 2008 шықәсазтәи нанҳәамзазы имҩаҧнагз ақәылареи, иара убас уаанӡатәи аибашьрақәеи рхаршҭразы”.

 

Мақсим Ҕәнџьиа аицәажәарақәа рҟны аус иуан ахҵәацәа рпроблемақәа рзы агәыҧ аҟны. Ақырҭуа ган Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ахҵәацәа рыргьежьра азҵаара иахьаднаҳәало азы, Ҕәнџьиа иазгәеиҭеит: “Ақырҭуа ган аиҿцажәаратә процесс зегьы мҩаҧысуеижьҭеи аҽазнашәоит еидҳәалам азҵаатәқәа еиднаҳәаларц. Ахҵәацәа рыргьежьра изладҳәалоузеи амч ахамырхәара азҵаара? Ахҵацәа ыргьежьымзар иҟалоит аибашьра? Абасеиҧш еилкаатәуп Қырҭтәыла апозициа?”

 

Мақсим Ҕәнџьиа игәаанагарала, амч ахамырхәара азҵаара даҽакы иузадҳәалом”. “Ари азҵаара иахьыҧшыуп аибашьра аиҭамырҿыцра”, - иазгәеиҭеит М.Ҕәнџьиа.

 

29.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ааҩыуаак аҧсуа шахматасыҩцәа алахәхоит а-6-тәи Иаартыу ашахматтә фестиваль “Moscow Open 2010”

 

Жьырныҳәа 30 инаркны жәабран 7-нӡа Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә унивирситет аҟны имҩаҧысуа 6-тәи Иаартыу ашахматтә фестиваль “Moscow Open 2010” иалахәхоит ааҩыуаак Аҧснытәи ашахматасыҩцәа. Ҵыҧх аицлабрақәа ирылахәын 1500-ҩыуаак 30 тәыла рыҟнытә.  Уажәазы Москва иҵегьы еиҳаны ашахматхәмарыҩцәа ирзыҧшыуп.

 

Аҧсуа команда хадара азиуеит Аҧсны ашахмат Федерациа Апрезидент Константин Ҭыжәба.

 

Афестиваль азеиҧш аҧхьахәтә фонд – 5 миллионк мааҭ.

 

28.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Женева имҩаҧысуеит Кавказ аҭышәныртәалареи ашәарҭадареи реиқәыршәаразы абжьгарақәа ажәбатәи рраунд

 

Женева, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәныртәалареи реиқәыршәаразы абжьгарақәа ажәбатәи рраунд мҩаҧысуеит иахьа Женева. ООН-и, Евроеидгылеи, ОБСЕ-и рхантәаҩрала имҩаҧысуа аиҧылара иалахәуп Аҧсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Еидҵоу Америкатәи Аштатқәеи рыҟнынтә аделегациақәа.

 

Традициала ишаҧу еиҧш аицәажәарақәа мҩаҧысуеит ҩ-усуҩтә гәыҧкны – ашәарҭадареи агәманитартәи зҵаарақәа рзы. ИТАР-ТАСС адырра злаҟанаҵо ала, Урыстәыла Женева дҵаны иқәнаргылоит Қырҭтәылеи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы ихымҧадатәиу аиуристтә хыдҵа агаразы адокәмент анапаҵаҩра.

 

Аицәажәарақәа рылагамҭазы аҧсуа делегациа ахада, жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба излеиҳәаз ала, Аҧсны ахаҭарнакцәа Женеваҟа иааит алыҵшәа алыршара хықәкыс иҟаҵаны.

 

“Ҳара иаадыруеит аиҿцәажәарақәа шымариамхои, насгьы ишыласымхои, амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы аполитикатә проблемақәа зларацәоу ала, иаҭаххоит акыр раунд рымҩаҧгара. Аха, ҳара ҳрықәгәыҕуеит алыҵшәа бзиақәа”, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Виачеслав Чырыкба Аҧсуа телехәаҧшрахьы.

 

Аиҿцәажәарақәа анхыркәшахалак, Аҧсны аделегациа аҭаауеит Париж, адемократитеи апарламентаризми Урыстәылатәи ринститут ааҧхьарала, аҵарадыррақәа рдоктор Виачеслав Чырыкба ақырҭуа-аҧсуа ҭышәныртәаларазы даҧхьоит алекциа.

 

Урыстәылатәи аделегациа напхгара азиуеит Урыстәыла Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григории Карасин, Аахыҵ Уаҧстәылатәи – аимакашьҭахьтәи аҭышәныртәалара азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо – Борис Чочиев, аҧсуа – жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чырыкба, ақырҭуа – Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Георгии Бокериа.

 

Аҧсуа делегациа аилазаараҟны иара убас иҟоуп – атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа, Аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа анагӡком алахәыла Зеки Қапба, адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агрба.

 

28.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ааҩыуаак аҧсуа шахматасыҩцәа алахәхоит а-6-тәи Иаартыу ашахматтә фестиваль “Moscow Open 2010”

 

Жьырныҳәа 30 инаркны жәабран 7-нӡа Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә унивирситет аҟны имҩаҧысуа 6-тәи Иаартыу ашахматтә фестиваль “Moscow Open 2010” иалахәхоит ааҩыуаак Аҧснытәи ашахматасыҩцәа. Ҵыҧх аицлабрақәа ирылахәын 1500-ҩыуаак 30 тәыла рыҟнытә.  Уажәазы Москва иҵегьы еиҳаны ашахматхәмарыҩцәа ирзыҧшыуп.

 

Аҧсуа команда хадара азиуеит Аҧсны ашахмат Федерациа Апрезидент Константин Ҭыжәба.

 

Афестиваль азеиҧш аҧхьахәтә фонд – 5 миллионк мааҭ.

 

28.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәынҭқарра азхиоуп ачаи аусхк аиҭарҿиаразы 100 миллионк аҧара азоужьра

 

Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ареспублика ачаи аусхк апроблемазы аилатәара мҩаҧигеит. Аилатәара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, адгьылқәаарыхратә политикеи, аҧсабаратә ресурсқәеи аҧсабарахархареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Лев Шамба, афинансқәа рминистр Беслан Кәбраа, аекономика аминистр Кристина Озган, ақытанхамҩа аминистр Иури Акаба, араионқәа рнапхгаҩцәа, ачаи фабрикақәа реиҳабацәа, ачаинхамҩақәа рнапхгаҩцәа.

 

Аҳәынҭқарра азыхиоуп ачаи ааглыхра аусура аиҭарҿыцразы 100 миллионк аҧара азоужьра, аха уи азын иаҭахыуп иахьазы урҭ рҭагылазаашьа аилкаара.

 

“Ҳара ареспубликаҿы ишьҭаҳхроуп ачаи аусхк. Ачаи аҭахра иахьа адунеиаҟны есааира излеизҳауа ала, ари аперспектива змоу усхкыуп. Ҳара ҳазыхиоуп ари аусхк аҧара азоужьра. Ачаитә плантациақәа зынӡа иаҳцәыӡаанӡа, иҳаӡбароуп, аинвесторцәа ирзыҧштәу, мамзаргьы  ачаи ахылаҧшра аҳәынҭқарра ахахьы иагар акәу?”

 

Багаҧшь аспециалистцәа адҵа риҭеит аплантациақәа рыхсаала азырхиарази, иара убас аҽаҩра аазышьҭырц зылшо ачаитә плантациақәа шаҟа гектар ыҟои рзы ихаҭәаау аинформациа азырхиаразы.

 

“Ачаи аусхк еиҭарҿиатәуп. Ақыҭанхамҩа абри аусхк ала ишьҭыхымзар ҧсыхәа амам. Ауаа ахашәала шроуа анырбалак, ачаи аусхк иаднаҧхьалоит,” – ҳәа азиҧхьаӡоит Багаҧшь.

 

“Ааигәанӡа ҳара ҳаигәырҕьон 5 нызқь баҭлыка аҩы ҳҭиыр. Иахьа миллионла иаҳҭиуеит. Убасҵәҟьа ҳалҳаршароуп адәныҟатәи аџьармыкьаҟны аҧсуа чаи адыга ҷыда ашьҭыхраҟны – иҳәеит Аҧыза министр Алеқсандр Анқәаб. – Ачаи аусхк аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп. Аинвестор уи аҧара азоуижьӡом, избанзар уи ахашәала лассы дазыҧшыуп”.

 

Иахьа араион аҟны аус руеит ачаифабрикақәа ҧшба. Афабрикақәа реиҳабацәа Ахәынҭкредитқәа роухьеит, иахьа уажәраанӡагьы урҭ рымшәаӡацт, афымцалашаразы “Черноморенерго” аҿаҧхьа ирықәу ауал иартәоит 4 миллионк аҧара, уи аӡәгьы ранажьра игәы иҭаӡам. Уаанӡа аусеиҿкааҩцәеи, анхацәеи ацхыраара рыҭаразы хәҭакалатәи ауалқәа ранажьын.

 

26.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика Аҧсны адәныҟатәи Аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырраҭара

 

2010 шықәса, жьырныҳәа 20 рзы Гал ақалақь аҟны имҩаҧысит ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи анырра рзыҟаҵареи ирызкны хә-ганктәи изаамҭанытәиу аиҧылара.

 

И.Вербеке имаҵзура ахыркәшара инамаданы, насгьы ООН ахаҭарнак ҿыц дҟаҵахаанӡа, хә-ганктәи аиҧыларақәа рыҟны хантәаҩра иулоит ООН аҟны абжьаҟазаратә операциақәа рмаҵзура адепартамент аҟны иҟоу Марко Бианчини.

 

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит, ООН еснагьтәи ахаҭарнак дҟаҵахаанӡа, х-мчыбжьа рахь знык аиҧыларақәа мҩаҧыргаларц.

 

Аиҧылараҟны аҧсуа ган даҽазныкгьы ишьҭнахит азҵаара аидара зқәыз аҕба “Букет” аҳәынҷара ахҭыс ҵыхәаҧҵәала аӡбаразы. Аҧсуа ган иара убас дҵаны иқәнаргылеит ари азҵаара ӡбахаанӡа, амшхәаҧштә аҟынтә иқәрымгарц.

 

Ақырҭуа ган даҽазныкгьы агәҭынчымра аанарҧшит Егры аӡиас иаҧну аҳәаа ахысразы иҟоу ауадаҩрақәа инарымаданы. Хәҭакахьала, араҟа иазааҭгылан, ааигәа ашколхәыҷқәа раанкылара ахҭыс,  урҭ ашколахь ицон аҳәаа аҟны иҟоу амҩаду хада иахыкәшаны. Р.Кьышьмариа даҽазныкгьы идеилиркааит, аҳәаа аҟны ишыҟоу акымкәа агәаҭарҭа-аушьҭырҭатә ҭыҧқәа, ашколхәыҷқәагьы ҧынгылада аҳәаа иахысырц шрылшо.

 

Ақырҭуа ган иқәнаргылаз азҵаара Егры ацҳала автобус мҩа аиҭарҿыцра  надҳәаланы, Кьышьмариа иҳәеит, ари азҵаара иахьазы аӡбара шзалымшо, аганқәа уи иазыгьежьырц шрылшо Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара иҟоу аҳәаа ишахәҭоу еиҧш аусура ианалагалак ашьҭахь.

 

Аганқәа разыӡбарала, анаҩстәи аиҧылара мҩаҧысуеит 2010 шықәса жәабран  мза 9 рзы.

 

20.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада дырҧылеит аҿартә ауаажәларра-политикатә ҵысра “Аҧсны ҿа” ахаҭарнакцәа

 

Аҿар ауаажәларра – политикатә ҧсҭазаара аҽалархәразы ирымоу агәаҳәареи, иара убас адырра ҵаулақәа риуразы рҽазышәареи рзы – зегь иреиҳау аҽхәаҧхьыӡ иаҧсоуп, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь аҿартә ауаажәларра-политикатә ҵысра “Аҧсны ҿа” ахаҭарнакцәа рҧылараан.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит дшазыхиоу егьырҭ аҿартә еидҵарақәа рхаҭарнакцәа рҧыларагьы “Ҳара ҳазыхиоуп атәыла егьырҭ аҿартә еидҵарақәа рактивистцәагьы рҧылара”, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Багаҧшь аиҧылара алахәцәа идирдырит аплан аҟны ишырзарбоу Аҟәа Аҿартә Центр аартра, аҿар ахьеизалашеи, насгьы рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи иахьрылацәажәалаша.

 

Агәҭынчымра уаҩы изцәырызго апроблемақәа рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп ауаа рыҧсҭазаара ҿахызҵәо анаркоманиеи амҩа-транспорттә хҭысқәеи ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны. “Арҭ аҩ-проблемак ирыхҟьаны иҭахахьеит, аибашьраҟны иҭахаз раҟара”,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. – Амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ашәарҭадаразы иҷыдоу амаҟақәа рхы  иадырхәозҭгьы еиҳа аҧсыҭбарақәа маҷхон”.

 

Атәылахь анаркотикатә маҭәашьарқәа аазго, урҭ Аҧсадгьы аҿаҧхьа рџьабаақәа рацәазаргьы, дарбанызаалак  дахьырхәхоит.

 

“Азакәан аҿаҧхьа зегь еиҟароуп. Анаркотикатә маҭәашьарқәа алазырҵәо, азакәан инақәыршәаны ашьауҕа иақәыршәахоит. Ҳара ари ацәгьа ҳаҿагылароуп, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа иақәмыжькәа”,- инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аҿар иҭырҵаауан, Аҧсны анефт ахьыҟоу аҭыҧ аус адулара ахьынӡанеихьоу. “Ҳара Роснефть аҟны ҳнапы аҵаҳҩит агәҭаққәа рзы Аиқәшаҳаҭра. Иазгәаҭатәуп, ари аиқәшаҳаҭра ишазҧхьагәанаҭо аҧшыхәра мацара. Иҟоума анефт, ма иҟамума – уи даҽа зҵаароуп. Аҧшыхәратә усурақәа мҩаҧгахоит аҧшаҳәа 11-12 км. инацәыхараны 900 метра аҵаулараҟны – ишьақирҕәҕәеит Аҳәынҭқарра Ахада. – Ауаажәларра рыҟны агәаанагарақәа акыр шыҟоугьы, исҳәарц сҭахыуп, амшын аҵаҟа аҧшыхәратә усурақәа шымҩаҧырго акыр ҳәынҭқарра – Қырҭтәыла, Ҭырқәтәыла, Румыниа, Болгариа, Урыстәыла. Ҳаргьы иаадыруазәароуп иҳамоу. Жәаҳәарада, ҳара адгьыл аҟны анефт аҵхра ҳалагом, аибашьра ҟалаанӡагьы Гал араион  аҵакырадгьыл аҟны акыр зхаҭабзиара ҳаракыу анефт шыҧшаазгьы”.

 

Багаҧшь иажәақәа рыла, Роснефть аҧхьаҟа хықәкыс иамоуп ареспублика аҵакырадгьыл аҟны автобылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа 12 комплекс рыргылара, уаҟа иҟалоит автохәҭақәа рзы адәқьанқәеи, амашьынаӡәӡәарҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи убас егьырҭгьы.

 

“Аҧсны ҿа” активистцәа азҵаауан Очамчыра ақалақь амҩадуқәа рырҽеира азҵаареи,Гал араион ауааҧсыра апаспортқәа рыҭара ауси, иара убас ареспубликаҟны апартиарацәара асистема аҿиаразы аҳәынҭқарра Ахада игәаанагареи.

 

20.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара Аусбарҭа аҵарауаа Аҧсны абаа аҟны ирыҧшааит абронза ашәышықәсазтәи аҧсыжырҭақәа

 

Аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара Аусбарҭа аҵарауаа Аҧсны абаа аҟны ирыҧшааит абронза ашәышықәсазтәи аҧсыжырҭақәа, - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аусбарҭа аиҳабы Вадим Бжьаниа.

 

Иҧшаау абронза ашәышықәсазтәи аҧсыжырҭақәа акыр маӡа рыҵаҵәахыуп ҳәа азырыҧхьаӡоит аҵарауаа.

 

Аҧсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа рдырраҭарақәа рыла, Аҧсны абаа ду-  византиа ашәышықәсазтәи абаҟа дуқәа иреиуоуп ҳәа. Абаа Кьалашәыр аӡиас инаркны Аҧсны аиҩхаақәеи ашьхақәеи намҽхакны Егры аӡиас ахыҵхырҭаҟынӡа инаӡоит. Уи аура иартәоит 160 км. Уи ахырҕәҕәарҭа баақәа рхыҧхьаӡара – шәкыла иаҵанакуеит. Иахьазы абжьарашәышықәсазтәи ахырҕәҕәарҭа аҟынтә иаанхаз ахыжәжәарахқәа роуп. Урҭ иреиуоуп Кьалашәыртәии. Убрантә ауп ишалагазгьы Аҧсны абаа ду аргылара.

 

Вадим Бжьаниа иазгәеиҭеит, жьырныҳәа мза алагамҭазы Аусбарҭа аҵарауаа Кьалашәыр аӡиас аҭыҧ иахьаҵанакуа аҭҵаара ишалагаз, избанзар лассы-лассы иҳаулоит адырраҭарақәа ажәытә баа ацәынхақәа абгара ишаҿу ала.

 

“Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра ашьҭахь аӡиаси ауааи ирыхҟьаны ирбган ҧшь-баак, Кьалашәыртәи аӡиас аҟны иҟаз.Иахьазы инхаз  ф-баак роуп, макьаназы урҭ еибгоуп”, - иазгәеиҭеит Бжьаниа. Археологцәа аҵарауаа арҭ ижәытәӡоу архитектуратә обиектқәа ахьыҟоу анеира рцәыцәгьоуп, еиҳарак шьапылоуп ишнеиуа.

 

В. Бжьаниа иазгәеиҭеит, ауадаҩрақәа акыр шыҟоугьы, аобиект ацәынхақәа рыхьчара ишазықәҧо.

 

20.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәынҭқарра Ахада: Аҧсны азхиоуп Иорданиаҟны аекономикатәи акультуратәи усеицура азҵаарақәа рылацәажәара

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҟәа идикылеит Иорданиантә аусдкылаҩцәа гәыҧҩык.

 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Багаҧшь иҳәеит Аҧсны шазхиоу Иорданиаҟны аекономикатәи акультуратәи усеицура азҵаарақәа рылацәажәара. “Ҳара ҳазхиоуп шәара шәажәалагалақәа рылацәажәареи иара убас еицыфеидоу аусеицура аганахьала ҳгәаанагарақәа  шәыцеиҩшареи”, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Иорданиантәи аделегациа алахәцәа идырныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны ахьыҧшымра ҧшь-ҳәынҭқаррак иахьазхарҵахьоу. Иорданиантәи абизнесуаа азҿлымҳан авиаеимадареи, афрмацевтә еилахәыреи, ателеилахәыреи раартра аҭагылазаашьақәа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит. “атәылаҟны аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагаларазы, зегь раҧхьаӡа иргыланы ишыӡбатәу акоммуникациа апроблемақәа, хьыӡҳәала, авиеи аихамҩатәи еимадарақәа раартра”.

 

Аҳәынҭқарра Ахада адгылара аиҭеит Аҧсни Иорданиеи рыбжьара акультуратәи еимадарақәа рышьақәыргылареи, иара убас еицеилахәу ателепроект аҧҵареи”.

 

Иорданиантәи арепатриант Али Бҕажәба адырра  ҟаиҵеит, Аҳәынҭқарратә жәлартә акәашаратә ансамбль “Кавказ” Иорданиаҟа гостроль ҳасабла ицаразы аиқәшаҳаҭра шыҟоу.

 

11.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭа шьахә роуит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа

 

Ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭа шьахә роуит Аҟәа инхо – Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа. Иаартыу акционертә еилазаара  “Атомтә фымцатәааглыхратә комплекс” адиреқтор хада ихаҭыҧуапҩ Џьумбер Тҟебучаа ҳамҭас ирзааиҭиит Аиааира Ду 65 шықәса ахыҵра иазкны иҭыжьу амзари, иара убас аибашьра иазкыу иреиҕьыу асоветтә фильмқәа 12, урҭ изларыхәаҧшыша DVD-и.

 

Аибашьра аветеранцәа Рреспубликатә Хеилак Ахантәаҩы Алеқсандр Ҭариа ҳџьынџьуаҩ ҭабуп ҳәа иаҳәо иазгәеиҭеит “Хымҧада аветеранцәа зегьы арҭ зеиҕьыҟам асахьаркыратә фильмқәа шдырбахо ала”.

 

Ақалақьтә Хеилак ахыбраҟны ишьҭоуп иара убас Д.Тҟебучаа иааиҭииз даҽа ҳамҭак-  аџьынџьтәылатә Еиибашьра дуӡӡа анцоз аамҭазы иҭыҵуаз агазеҭ «Красная Звезда» аизгақәаки. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа Ахадара асаит.

 

11.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа фольклортә коллективқәа алахәын Шәача имҩаҧысуаз афестиваль “Кавказ абжьырацәақәа”

 

Аҧсны аҭыҧҳацәа рфольклортә вокалтә-инструменталтә ансамбль “Гәндеи” ахацәа рхор “Чагьами” алахәын Шәача имҩаҧысуаз афестиваль “Кавказ абжьырацәақәа”.

 

Урыстәыла Афедерациа акәльтура аминистрра анапхгарала Шәачатәи афилармониа афестивальтә программақәа Рдирекциа еиҿнакааз афестиваль мҩаҧысуан жьырныҳәа 4 инаркны 6-нӡа Шәача ақалақь Аӡынтә театр аҟны.

 

Афестиваль алахәцәа рыбжьара иҟан – Азербеџьанынтә, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Краснодартәи атәылаҿацәи Москвеи рҟынтәи амузыкантцәа.

 

Афестиваль “Кавказ абжьырацәақәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган иара убас Лазаревски, Краснаиа полианеи, Аҟәеи.

 

10.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Багаҧшьи Ногаиделии реиҧылара ҳәа иарбанзаалак акагьы азгәаҭам

 

Ақырҭуа политикцәеи, иара убас амчраҿи, аппозициаҿи иҟои лассы-лассы амц рҳәоит, ҳәа ажурналистцәа рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамба, Қырҭтәыла амассатә-информациатә хархәагақәа Қырҭтәыла аоппозициатә лидерцәа ируаӡәкыу, ҧасатәи атәыла аҧыза Зураб Ногаидели иаарласны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь диҧылараны дыҟоуп ҳәа иҟарҵо адырраҭара ахҳәаа азыҟаҵо.

 

“Аиҧылара Аҟәа аиҿкааразы иарбанзаалак жәалагалакгьы ыҟамызт, уи аҩыза ааҧхьара ҟаҵахаргьы, ас еиҧш аиҧылара амҩаҧгара залыршахом”, - ҳәа шьақирҕәҕәеит Шамба.

 

“Уи адагьы, Ногаидели иҟаиҵаз аҳәамҭа, Москва аҧсуа диаспора дырҧылазшәа, уи хыҭҳәаауп”, - иазгәеиҭеит Шамба. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ишьақәирҕәҕәеит, Ногаиделии Аҧснынтә ақырҭуа хҵәацәа дшырҧылаз.

 

10.01.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада