AҦCУAA  PЫБЖbbI
                                     -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт


 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Гәдоуҭа ақалақь ашколқәа рырҕәҕәара иазхәыцырц азы ажәалагала ҟаиҵеит

 

Ашәахьа,  жьырныҳәа 10 рзы, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Гәдоуҭа ақалақь даҭааит, уаҟа аҵара аминистр Индира Аҩардан далархәны араион Ахадараҟны имҩаҧигеит аилацәажәара.
 

Аилацәажәараҟны, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит,  Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара Акомплекстә план инақәыршәаны, аргылареи аремонти зҭахыу аобиектқәа рсиа иалаҵоу ашколқәа рыҟны аремонтқәа рымҩаҧгара шаҭахыу. Араҟа зыӡбахә ҳәоу Гәдоуҭатәи ашкол №1 аҟны аргыларатә усурақәа уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит, иара убас ирзааҭгылан ашколқәа №2, №3. Багаҧшь акапиталтә ргылара Аусбарҭа ахаҭарнакцәа анапынҵа риҭеит арҭ ашколқәа рырҽеираз ахарџьынҵақәа рсмета еиқәдыршәарц.
 

Багаҧшь иазгәеиҭеит “аҧхьаҟа ишазхәыцтәу ашколқәа рырҕәҕәареи, арҵаҩцәа рыла реиқәыршәареи,  урҭ руалафахәы ашьҭыхреи, иҳәатәуп сынтәа уи шеизырҳау 50% рыла.
 

Аҳәынҭқарра Ахада игәеиҭеит ашколқәа №№ 1,3 рыҟны аремонттә усурақәа рымҩаҧысшьа. Аремонт аҭахыуп иара убас ашкол №2 ахыбрагьы, араҟа аҵара рҵоит 400-ҩыуаак аҵаҩцәа. Аҳәынҭқарра Ахада ашкол адиреқтор дақәиргәыҕит ахыбра аремонт азуразы ахархәагақәа шиҧшаауа ала. Акапиталтә ргылара Аусбарҭа ахаҭарнакцәа анапынҵа риҭеит “еиқәдыршәарц асмета, ахәқәа зынӡа ихамгалакәа”. Аремонт мҩаҧгалахоит хәҭа-хәҭала, аҵаратә процесс аанымкылакәа.
 

Ашкол №1 аҟны аремонт мҩаҧысуеит аҩбатәи акорпус аҟны. Араҟа ажәытә ргылара аҟынтә иаанхаз аҭӡамцқәа роуп, егьырҭ зегьы ҧсахыуп. Аргылаҩцәа ирыгәҭакыуп араҟа арҧхага ашьақәыргылара.
 

Ашкол №3 аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын 2010 ш. ҧхынгәымзазы. Араҟа имҩаҧгоуп ахыби аӡымҩангагақәеи рремонт. Иара убас  16 класстә уада рҟынтә аремонт рызууп 4 уадак. Иахьа ашкол аҟны аҵара рҵоит 114 ҩыуаак аҵаҩцәа. Ашкол иаднакыларц алшоит 600-ҩыуаак рҟынӡа, иара ргылан 1986 шықәса рзы.

 

12.01.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Мураҭ Иаган иҭаацәеи Канадантәи аилазаара “Ақьабзи” Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада идырныҳәалеит Ашықәс ҿыци Қьырса аныҳәеи

 

Мураҭ Иаган иҭаацәеи Канадантәи аилазаара “Ақьабзи” Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада идырныҳәалеит Ашықәс ҿыци Қьырса аныҳәеи.
 

“Ҳаҭыр зқәу, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада! Даҽазныкгьы аҭагылазаашьа ҳхы иархәаны,  ишәыдаҳныҳәалоит агәҕреи, агәрҕьареи аҭнчреи рыла ҳхы-ҳагәқәа зырҭәуа Қьырса аныҳәа.
 

Ашықәс ҿыц азы ҳара ҳазхуцуеит бзиа иаҳбо Аҧсны. Шәколлегацәеи Шәареи ишәзеиҕьаҳшьоит аҭынчра аиқәырхаразы шәҽазышәарақәа рыҟны ақәҿиарақәа, Аҧсны жәлар ашәҭкакаҷреи, ашәарҭадареи. Инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵарахь иану Аҧсны, уи иқәнхо ауаа рыгәқәа арҭәлааит агәрҕьареи агәадуреи”, - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
 

С.Багаҧшьи Аҧсны анапхгара зегьи рзы иаашьҭу адныҳәаларақәеи азеиҕьашьарақәеи Мурат Иагани уи иҧшәма Маисиа Иагани рыхьӡала иҟаиҵеит уи ицхырааҩ Шеррон Ален.
 

Мураҭ Иаган – диит Ҭырқәтәыла. Араҟа иҵоит аҵара аусурагьы далагоит. Мзызқәак ирыхҟьаны уи Канадаҟа диасуеит, араҟа еиҿикаауеит аилазаара “Ақьабз”. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан Мураҭ Иагани иҩызцәеи аибашьра аанкылараз жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь ааҧхьарақәа ҟарҵон,  еиҿыркааит “Аҧсны аҩызцәа реилазаара”, изларылшоз алагьы рџьынџьтәыла иацхраауан.
 

Мураҭ Иаган ишәҟәы “Сара ашьхақәа рзы сааит” еиҭагоуп аурысшәеи аҧсшәеи бызшәақәа рахь. Автор ихаҭа 2001 ш. рзы Аҧсныҟа ааҧхьара иман, иџьынџьтәылаз илшамҭақәа рзи, аҧсуаа рҭоурыхтә доуҳатә ҭынхақәа рпропогандази ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден актәи аҩаӡара.

 

12.01.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Руслан Кьышьмариа Аҧсны апарламент адепутатс далхыуп

 

Жьырныҳәа 9 рзы Ҷубырхьынџьтәи алхырҭатә ҭыҧхада №33 аҟны имҩаҧысуаз алхрақәа ирылҵшәаны, Руслан Кьышьмариа далхыуп Аҧсны апарламент адепутатс. Абри азы адырра ҟаиҵеит ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа.
 

Ареспублика Ацентртә алхратә комиссиа адырраҭарақәа рыла, Кьышьмариа иоуит 69 % алхыҩцәа рыбжьқәа.
 

Араҟа алхрақәа мҩаҧысуан адепутат Иурии Кереселиӡе иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
 

Р.Кьышьмариа иара убас депутатс далырххьан 1996 ш. инаркны 1999 ш. рзынӡа.

 

10.01.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 2010 ш.рзы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара Акомплекстә план иалаҵаз аобиектқәа финансла реиқәыршәара иартәеит 1,8 миллиард мааҭ

 

“2011 ш.жьырныҳәамза 1 аҭагылазаашьала, Акомплекстә план иалаҵаз ахыбрақәа финансла реиқәыршәара иартәеит 1,8 миллиард мааҭ”,- ҳәа азгәалҭеит аекономика аминистр Кристина Озган, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҟны имҩаҧысуаз аилацәажәараҟны, “Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара Акомплекстә планла” иазҧхьагәаҭаз аусмҩаҧгатәқәа раларҵәараз аинформациа ҟазҵаз.
 

“Иҟаҵоу аҳасабырба инақәыршәаны, цхыраарак аҳасабала Урыстәыла Аҧсны иазоунажьыз 3 миллирд мааҭк рҟынтә ахархәара рыҭоуп 60%”, - ишьақәлырҕәҕәеит аминистр.
 

К.Озган линформациала, автомҩатә инфрастуктурахь ишьҭуп 555 миллион мааҭ, урҭ рхыҧхьаӡараҟны амҩақәа рырҽеиразы – 225 миллион мааҭ. 2010 ш. рзы анхарҭа-коммуналтә нхамҩахь ишьҭуп 1 565,9 миллион мааҭ, урҭ рхыҧхьаӡараҟны: ӡыла аиқәыршәарахь – 214 миллион мааҭ; афымцамчы ахь – 94,4 миллион мааҭ, ахыбқәа рырҽеираз – 176., алифтқәа реиҭашьақәыргылараз – 80, 7 миллион мааҭ.
 

“Агроааглыхратә комплекс” аҟәшала ахархәара рызууп 175, 5 миллион мааҭ., “Ааглыхра” аҟәшала – 82, 3 миллион мааҭ., “Административтә хыбрақәеи аргыларақәеи” рыҟәшала – 90,6 миллион мааҭ.
 

Агәабзиарахьчара аобиектқәа рахь идәықәҵоуп 134, 7 миллион мааҭ., аҵара аусхк ахь-2,8 миллион мааҭ, акәльтура – 100 миллионк.
 

2011 ш.рзы Урыстәыла аганахьала иазҧхьагәаҭоу Акомплекстә планла ахыбрақәа финансла реиқәыршәара иартәоит 3 миллиардк.

 

06.01.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 2010 ш. Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара Акомплекстә план анагӡашьа алыҵшәақәа ирызкын аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧигаз аилацәажәара

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ихантәаҩрала имҩаҧысыз аусуҩтә еилацәажәара азкын2010 ш. Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара Акомплекстә план анагӡашьа алыҵшәақәеи ашықәс ҿыц ауснагӡатәқәеи. Аплан ахаҭа ҿҳәарас иамоуп х-шықәса (2010-2012 шш), иагьазҧхьагәанаҭоит рхынҳәрада 10,8 миллиард мааҭ рҟынӡа Урыстәыла аганахьала Аҧсны ацхыраара азыҟаҵара.

 

2010 шықәса рзы ахархәара рыҭан 1, 8 миллиард мааҭ. 1, 2 миллиард мааҭ артәоит 2011 ш.  рахь ииасуа аҧаратә хархәагақәа рцәынха. Аплан инақәыршәаны арҭ ахархәагақәа рзоужьын автомҩатә инфрастуктуреи, анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи ( аӡымҩангагақәеи аканализациеи рсистема аиҭашьақәыргылареи, ахыбқәа рырҽеиреи, аҩнеихагылақәа рфасадқәеи, алифтқәа реиҭашьақәыргылареи) аҵареи, акәльтуреи, агәабзиарахьчареи, аспорти агроааглыхреи русхкқәа.
 

Ашықәс ҿыц азы  4, 23 миллипард мааҭ ахархәара рыҭатәуп. “ Арҭ аҧарақәа маҷым, ҳаҧхьа ишьҭоуп аус дуқәа”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Уи аминистррақәеи аусбарҭақәеи ргәырҽаниҵеит, Акомплекстә план анагӡашьазы аҭакзыҧхықәуу, ахыбрақәа рыргылареи, мамзаргьы аремонт рзуреи нап адмыркырц апроекттә-сметатә докәментациа аеқсперттә хәшьарада.
 

“Аргылара ҳҵеит, адокәментқәа ииашаны реиқәыршәашьа макьана иҳаздыруам. Анормативтә база зегьы аҭыҧ иқәҵатәуп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Иҳаҩсыз ашықәс азы Аплан анагӡашьазы аинформациа ҟалҵеит афинансқәа рминистр Кристина Озган.
 

Аҳәынҭқарра Ахада дазҿлымҳан, Акомплекстә план иалаҵаз ахыбрақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи рыҟны аусқәа рцашьа. Урҭ иреиуоуп Гагратәи иахыкәршоу амҩа, аҳабламҩақәа, автомҩа Аҟәа-Гал, ахыбқәеи, алифтқәеи, афасадқәеи, аҩнеихагылақәа рыҵаҟеи аремонтқәа рзуреи, иара убас ашколқәеи, ахәышәтәырҭақәеи, аспорттә хыбрақәеи реиҭашьақәыргылареи, аӡымҩангагақәеи аканализациақәеи рыҧсахра, Аиашаӡбара Аҩны аргылареи, “Амаамынқәа рааӡарҭа” аремонт азуреи, ачазауадқәеи уҳәа убас егьырҭгьы.
 

Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит аҳабламҩақәа рремонт ахаҭабзиара ахылаҧшра шазутәу. “Ари акапиталтә ргылара Аусбарҭа анапаҵаҟахь ииагатәуп. Мамзар анагӡаҩцәа иҟарҵаз аусура рхаҭақәа ххылаҧшра арҭо иҟалоит”, - иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Уи иара убас аиҳабыра алахәцәа анапынҵа риҭеит Акомплекстә план аусура ашьақәыргылара араионқәа Рхадацәа аладырхәларц. “Урҭ ибзианы ирдыруеит араионқәа рыҟны раҧхьа иргылатәу насгьы еиҭашьақәыргылатәу”, – иҳәеит Багаҧшь.
 

Ари ашықәсазтәи Акомплекстә план хаз игоу апунктқәа дырзааҭгыло, аҳәынҭқарра Ахада ажәалагала ҟаиҵеит, хәҭакахьала иазхәыцырц, Гал араион арасатә плантациа иазурыжьраны иҟоу аҧарақәа, ахархәара арҭарц  ауҭраҭыхааӡареи, ацхеи аварениеи аужьразы.  “Араион аҟны иара усгьы имаҷӡам араса”, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.
 

Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, Аботаникатә баҳча Административтә хыбра аиҭашьақәыргыларазы иазоужьу рҟынтә ахархәара рыҭатәуп 30 миллион мааҭ, 70 миллион мааҭ аамҭала “иаанкылатәуп”.
 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аҳҭны-қалақь аҟны аибашьра ашьҭақәа рырӡразы иҟазароуп аиҳабыратә программа, шықәсык-ҩышықәса рҟынӡа зымҽхазкуа. “Аибашьра еилгеижьҭеи такә аамҭа цахьеит. Аха макьанагьы асасцәа рыла ихаҳалоит ирхәашоу ихыблаа-ҿыблаау ахыбрақәа”, - иҳәеит Багаҧшь.
 

Аҳәынҭқарра Ахада аҧыза-министр Сергеи Шамба анапынҵа ииҭеит, Акомплекстә планла иазҧхьагәаҭоу Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара, Аобиектқәа рыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ихаҭыҧуаа руаӡәк инапы ианиҵарц.
 

Аҵыхәтан, аҳәынҭқарра Ахада адҵа риҭеит ианаамҭоу имҩаҧыргаларц аеқспертизақәа,  иахәҭоу анормативтә докәментқәа азыҟарҵаларц, аргылара-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара аҿҳәарақәа ирыцклаҧшларц, иара убас ахылаҧшра ҕәҕәа арҭарц афинанстә леишәа.
 

“Иҟоуп аҧыза-министр напхгара зиҭо аоперативтә штаб. Убраҟа ишәыӡбала Акомплекстә план анагӡаразы иконкреттәу ауснагӡатәқәа. Сара ари аплан анагӡашьа ахылаҧшра схахьы изгоит. Ианаҭахха ари аусура иадсыҧхьалоит Ахылаҧшра-ревизиатә усбарҭеи Апрокәратура Хадеи”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

06.01.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ашықәс ҿыц раҧхьатәи амшқәа рзы азакәани ауаажәларратә зинлеишәеи реилагара ҳәа акагьы ашәҟәы иҭагалам

 

Ашықәс ҿыц раҧхьатәи амшқәа рзы  азакәани ауаажәларратә зинлеишәеи реилагара ҳәа акагьы ашәҟәы иҭагалам, амҩатә-транспорттә хҭысқәа хҧа рыда, - иҳәеит Аҟәатәи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Лауренс Коҕониа.
 

Уи ишьақәирҕәҕәеит, амҩатә-транспорттә хҭысқәа шыҟалаз ҧхынҷкәын 31 руха, ҧсыҭбара ҳәа акагьы шацым. “Уи адагьы, ахәышәтәырҭахь уаҩ днанамгеит”, - иҳәеит Коҕониа.
 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа уахи-ҽни рмаҵзуратә уалҧшьақәа нарыгӡоит.

 

05.01.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада