|
|
Женева иалагеит
Кавказ ашәарҭаареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы абжьгарақәа ажәабатәи
рраунд |
ООН-и, Евроеидгылеи,
ОБСЕ-и рхылаҧшрала имҩаҧысуа абжьгарақәа ирылахәуп Аҧсны, Қырҭтәыла,
Урыстәыла, Еидҵоу Америкатәи Аштатқәа, Аахыҵ Уаҧстәыла рделегациақәа.
Традициала ишаҧу еиҧш,
ацәажәарақәа мҩаҧысуеит аусуҩтә гәыҧқәа ҩба рормат ала – ашәарҭадареи
агәманитартә тематикеи рызҵаарақәа рзы.
Аиҧылара аламҭалаз
икьыҧхьыз Урыстәыла Афедерациа адырраҭара ишаҳәоу еиҧш, абжьгарақәа
рыҟны Урыстәыла адгылара анаҭоит арегион аҟны ахҭысқәа раҧырҟәҟәаара
амеханизм. “Қырҭтәыла аибашьратә фантазиақәа, уажә ааигәа ақырҭуа
телеканал “Имеди” аҟны идырбаз “даҽазныкгьы ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла
аганахьала амч ахамырхәаразы аиуристтә хыдҵа ргартә ишыҟаҵатәу –
инаҵшьны иазгәарҭеит аминистрраҟны. – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыжәларқәа
шәарҭада аҧсҭазааразы азин рымоуп.
“Женева ахәшьара маиурц
залшом Қырҭәыла “аҳәынҭқарратә стратегиа аоккупациа зызуу атерриториақәа
рганахьала.Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қарҭтәи аемиссарцәа рҽазыршәоит
жәларбжьаратәи аренаҟны “аҭынчразы агәаҳәара шрымоу аршаҳаҭра” – ҳәа
азгәарҭоит аусбарҭаҟны.
Ацәажәарақәа ирызнеитәуп
иашала, уаҟа ҳасаб рызузароуп Кавказ иҟоу аҭагылазаашьаҵәҟьа. Насгьы
Қырҭтәылеи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи рыбжьара агәлеимабзиаратә
еизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауазароуп”.
“Урыстәыла иахықәкыуп
арегион аҟны ахҭысқәа анырра рзыҟаҵареи раҧырҟәҟәаареи рзы еицыҟаҵоу
амеханизм аусура аихаҳара адгылара анаҭарц, аганқәа рыбжьара ишиашоу
аимадарақәа еиқәзыршәо”, - иазгәарҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
“Агәманитартә зҵаарақәа
рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа агәыҧ аҟны иацҵоуп аганқәа зегьы
ирыдыркылаша амҩақәа рыҧшаара”.
Кавказ ашәарҭадареи
аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа рзы ацәажәарақәа мҩаҧсуеит 2008 шықәса
жьҭаарамза аахыс Урыстәылеи Франциеи рпрезидентцәа реиқәшаҳаҭра шьаҭас
иаҭаны, уи аиқәшаҳаҭра алыршан Аахыҵ Уаҧстәыла атрагедиатә хҭысқәа
рышьҭахь. Женеватәи аиҧылара еиҟароу азинқәа рыманы иалахәуп Аҧсни,
Қырҭтәылеи, Урыстәылеи, Еидҵоу Америкатәи Аштатқәеи иара убас
Евроеидгылеи, ООН-и ОБСЕ-и рделегациақәа. Урыстәыла аделегациа напхгара
азиуеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григории Карасин.
Аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа
рзы Амилаҭқәа Рхан аҟны аделегациақәа рхаҭарнакцәа имҩаҧыргоит
апресс-конференциақәа.
30.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Мшаҧымза
аҽеиҩшамҭазы Аҧсны даҭаауеит Никарагәуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Самуель Сантос Лопес |
Мшаҧымза аҽеиҩшамҭазы
Аҧсны даҭаауеит Никарагәуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос
Лопес.Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны адәныҟаполитикатә усбарҭа Аҧкаанҵа
аҟәша. Самуель Сантос Лопес араҟа дырҧылараны дыҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада С.Багаҧшь, аҧыза-министр Сергеи Шамба, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа
рминистр Мақсим Ҕәнџьиа, Аҧсны апарламент адепутатцәа.
Ишәгәалаҳаршәоит,
Никарагәуа – Урыстәыла ашьҭахь иаарласны Аҧсны ахьыҧшымра шазханаҵаз.
Иаҳхысыз ашықәс
цәыббрамзазы, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Ареспублика
Никарагәуа иаҭааит, цәыббра 10 рзы анапы рыҵаҩын “Ареспубликақәа
Никарагәуеи Аҧсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа
рышьақәыргыларазы еицыҟаҵаз Аҳәамҭеи”, иара убас “Ареспублика Никарагәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи
рыбжьара абжьгарақәа рзы Аҧкаанҵеи”.
Анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа
инарымаданы, аҩ-республикак иазҧхьагәарҭоит “ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа
рырҿиареи, аҩ-жәларык рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аилибакаареи
рырҕәҕәараҿы анырра аҟаҵареи, ООН-и Жәларбжьаратәи азинқәеи Рыҧкаанҵа
апринцпқәеи ахықәкқәеи шьаҭас иныҟаҵаны”.
Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит
“абжьгарақәа мҩаҧыргаларц ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа рганахьала,
аполитикеи, аекономикеи, аҵарадырра-техникатәи еимадларақәеи русхкқәа
рыҟни, иара убас акультура-гәҳалалратәи усеицура рыбжьаҵарази”.
30.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада диҧылеит Урыстәыла Аҧыза-министр Владимир Путин |
Иахьа Урыстәыла
Аҧыза-министр иризиденциаҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи
Багаҧшьи Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Владимир Путини
реиҧылара.
Аҧсуа ганахьала аиҧылара
иалахәын Урыстәыла Афедерациаҿ иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Аҧсны
аекономика аминистр Кристина Озган, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура
Ахантәаҩы Аслан Бжьаниа.
Аиҧылараҟны ирылацәажәан
аусхкқәа жәпакы рыҟны иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәа апрактикаҿы раларҵәареи,
иара убас урҭ рхыҧхьаӡараҟны Аҧсны афинанстә цхыраара азыҟаҵареи, Ҧсоуи
Егри аӡиасқәа ирыҧну аҳәынҭҳәаақәа русура аиҿкаара азҵаатәқәеи. Аганқәа
алацәажәеит Ҧсоу аӡиас иаҧну аҳәынҭҳәааҟны анашьҭратә-аашьҭратә режим
аиҕьтәразы аусмҩаҧгатәқәа.
Аиҧылара аартуа Владимир
Путин иазгәеиҭеит аурыс-аҧсуа усеицура аҿиашьа агәахәара шинаҭо. Уи
агәыҕра шимаз иҳәеит, Аҧсны асоциал-економикатә ҿиаразы излацәажәо аплан
шьаҭанкыла ареспублика аҭагылазаашьа шеиҕьнатәуа, убасгьы аекономика
аҿиараҟны анырра бзиа шыҟанаҵо ала. Путин иҳәеит, аурыс-аҧсуа
Еиқәшаҳаҭра аларҵәаразы иара убас абанктә усура аҟынгьы ишыҟаҵоу
апрактикатә шьаҿақәа.
Сергеи Багаҧшь Урыстәыла
Афедерациа анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит активла иҟарҵо ацхырааразы, уи
ахә ҳаракны ишьеит еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны ҩ-тәылак рпрактикатә
усеицура. Ари аиҧылара мҩаҧгатәын, иазгәеиҭеит Багаҧшь, ихадоу егьырҭ
аусхкқәа рҟынгьы аганқәа русеицура иҵегьы аихаҳаразы.
Урыстәыла Аиҳабыра
Рхантәаҩы аҧсуа ган ажәалагала адгылара аиҭеит атәылақәа рыбжьара
аҳаири, амшыни, автомашьына еимадарақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа
рырццакразы. Урыстәыла Аҧыза-министр игәаанагарала, арҭ аусмҩаҧгатәқәа
акырӡа еизнарҳауеит апассаџьыртәи аидарамҩангагақәеи рхыҧхьаӡара.
Сергеи Багаҧшьи Владимир
Путини иара убас ирылацәажәеит аурыс-аҧсуа усеицура егьырҭ
азҵаарақәагьы.
Абри атәы ааицҳаит Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа.
25.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
С.Шамба: Аҧсны
анапхгара азҿлымҳауп жәларбжьаратәи агәҳалалратә еиҿкаарақәа русура, аха
убри аан ҳасаб азузароуп Аҧсны ахьыҧшымра |
С.Шамба: Аҧсны анапхгара
азҿлымҳауп жәларбжьаратәи агәҳалалратә еиҿкаарақәа русура, аха убри аан
ҳасаб азузароуп Аҧсны ахьыҧшымра. Абри атәы иҳәеит амедиа-клуб “Аинар”
еиҿнакааз апресс-конференциаҟны.
Ишәгәалаҳаршәоит, 2009
шықәса анҵәамҭазы, Аҧсны анапхгара ООН агентрақәеи, иара убас
жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рахь ажәалагала ҟарҵеит амеморандум
анапаҵаҩразы, уаҟа ҳасаб азуызар акәын ареспублика ахьыҧшымра азхаҵара,
иара убас уаҟа иазгәаҭахон Аҧсны урҭ русура аҭагылазаашьақәа.
“Ари апроблема ус ишыҟац
иаанхоит. Аҧсны ақәшаҳаҭуп жәларбжьаратәи агәҳалалратә еиҿкаарақәа
рыҟазаара, аха ҳара иаҳҭахыуп, урҭ ҳхьыҧшымра азхаҵарахьы ашьаҿа
ҟарҵарц”, - иҳәеит аҧыза министр.
23.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада С.Багаҧшь усуҩтә визитла Москва дыҟоуп |
Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада Сергеи Багаҧшь усуҩтә визитла Москва днеиит, - ҳәа “Аҧсныпрес” ахь
адырра ҟаиҵеит акьыҧхь аҟны Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак
Кристиан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада Москва
иҟазаара иалыршаны иазҧхьагәаҭоуп Урыстәыла Афедерациа аиҳабыра
рҧыларақәа, - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҟны.
Сергеи Багаҧшь уаҟа
дрылацәажәоит аҧсуа-аурыс усеицура аҿиара ахырхарҭа хадақәа, урҭ
рхыҧхьаӡараҟны асоциал-економикатәи, акоммуникациатәи, атәылахьчареи
рызҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада ивизит
мчыбжьык иалагӡаны ихиркәшоит.
23.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Иахьа Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада усуҩтә визитла Москваҟа дцеит |
Аҳәынҭқарра Ахада Москва
иҟазаара иалыршаны иазҧхьагәаҭоуп Урыстәыла Афедерациа аиҳабыра
рҧыларақәа. Сергеи Багаҧшь уаҟа дрылацәажәоит аҧсуа-аурыс усеицура
аҿиара ахырхарҭа хадақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны асоциал-економикатәи,
акоммуникациатәи, атәылахьчареи рызҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада ивизит
мчыбжьык иалагӡаны ихиркәшоит.
23.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы
ахантәаҩы ихаҭыҧуаа ҟаҵоуп |
Мсаусҭ Шамба дҟаҵоуп Аҧсны
Аҳәынҭқарра ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩыс. Абри азы
Ақәҵара рыдыркылеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны хәажәкыра
19 рзы.
Мсаусҭ Шамба уаанӡа аус
иуан Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс.
Зураб Ашәба, 2007 шықәса
раахыс Аҳазалхратә гәаҭарҭа-аушьҭырҭатә ҭыҧ “Ҧсоу” аҟны аус зуаз дҟаҵоуп
аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс.
19.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада изыхәҭоу аилазаарақәа анапынҵа риҭеит, амҳаџьырцәа
рбаҟа ахьықәыргылахо аҭыҧ зегь рыла еиқәдыршәаразы |
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада
С.Багаҧшь Аҟәа ақалақь Ахадареи, Аҳәынҭеилахәыра “Аҧсныргылареи”,
аҳҭны-қалақь архитектуреи аргылареи рзы Аусбарҭеи адҵа риҭеит,
амҳаџьырцәа рбаҟа ахьықәыргылахо аҭыҧ ишахәҭоу еиҧш зегь рыла
еиқәдыршәаразы.
Абаҟа ықәыргылахоит
Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәаҟны, 1991 шықәса раахыс ахаҳәа ахьышьҭаҵаз.
Хажәкыра 12 рзы,
амҳаџьырцәа рбаҟа аҧҵара апроект азы аиндаҭлараҿы иреиҕьӡоу ҳәа
иалкаахаз аҧсуа сахьаҭыхҩы Геннади Лакоба иаҧҵамҭа аскульптура
Беларуснтәи Аҟәаҟа иааган.
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада Сергеи Багаҧшьи, акультура аминистр Нугзар Логәуеи, Аҟәа ақалақь
ахада Алиас Лабахәуеи, абиологиатә ҵарадыррақәа рдоктор, апрофессор
Сергеи Бебиеи, аҳҭны-қалақь архитектуреи аргылареи рзы Аусбарҭа ахада
Давид Ешбеи, аунитартә наплакы “Аҟәаргылара” адиректор Руслан Тәанбеи,
аскульптор Геннади Лакобеи абаҟа ахьықәыргылахо аҭыҧ иаҭааит.
Багаҧшь архитекторцәеи
аргылаҩцәеи адҵа риҭеит абаҟа автор дрыцырхырааны иалырхырц уи
иахьықәыргылахо аҭыҧҵәҟьа, иара убас аҳҭны-қалақь “ариаҵәара анхамҩа”-
атерриториа ариаҵәаразы апроект аус адыруларазы.
“Цәыббрамзазы, аусурақәа
зегьы анхыркәшахалакь, аҳҭны-қалақь ауааҧсыреи, асасцәеи абаҟа аҿаҧхьа
ашәҭқәа шьҭарҵарц рылшоит”, - иҳәеит акультура аминистр Нугзар Логәуа.
19.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Латинтәи Америка
атәылақәа рахь Аҧсны аделегациа рныҟәарақәа ирыцырҵоит |
Латинтәи Америка атәылақәа
рахь Аҧсны аделегациа рныҟәарақәа ирыцырҵоит, - ҳәа адырра ҟарҵоит Аҧсны
Адәныҟатәи Аусқәа рпресс-маҵзура аҟынтә.
Хәажәкыра 8 инаркны 12-нӡа
Аҧсны аделегациа аҭааит Боливио, уаҟа имҩаҧысит Амилаҭтә
Ассамблеиеи, Амилаҭтә коммерциатә Палатеи, иара убас атәыла
адипломатиатә корпуси рхаҭарнакцәа рҧыларақәа.
Аиҧылараҟны ирылацәажәан
атәылақәа рыбжьара аусеицура абжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Иааизакны аиҧылара зегьы
мҩаҧысит аҧхарра зҵоу аиҩызаратә ҭагылазаашьа аҵаны.
Боливиа аган Аҧсны
ахьыҧшымра азхаҵара азҵаара еилкаарала иазнеиит.
17.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада диҧылеит ООН ахаҭарнак ҷыда, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи
ацәажәарақәа рыцхантәаҩ Анти Трунен |
Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада С.Багаҧшь диҧылеит ООН ахаҭарнак ҷыда, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы
Женеватәи ацәажәарақәа рыцхантәаҩ Анти Трунен.
“Ҳара еснагь аизыҟазаашьа
бзиақәа ҳаман ООН Амиссиа ахаҭарнакцәеи ҳареи. Шәара шәыла ҭабуп ҳәа
изысыцҳарц сҭахыуп апатын Иоҳан Вербеке Аҧсны иусура ду азы. Рҭак
аҟаҵара сазыхиоуп шәара шәзызҿлымҳау азҵаарақәа зегьы”, - иазгәеиҭеит
Аҳәынҭқарра Ахада, А.Трунен бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо.
Анти Трунен С.Багаҧшь
идиныҳәалеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадас аҩынтәтәи аҿҳәараҿы иаанхара,
изеиҕьеишьеит иусураҿы ақәҿиарақәа, иара убас изеиҭеиҳәеит иаара хықәкыс
иамоу.
“Саара хықәкыс иамоуп –
Аҧсны аҭагылазаашьа аилкаареи, иара убас Женеватәи апроцесс иашәҭо
ахәшьара саҳаразы. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аицәажәарақәа рыцҵаразы”, -
иҳәеит ООН ахаҭарнак.
Иара иажәақәа рыла,
“еихьӡарала аус ауеит Гал араион аҟны ахҭысқәа раҧырҟәҟәааразы
амеханизм”. “Ҳара ҳаигәырҕьоит Амиссиа Аҧснынтә ишцахьоугьы, шәара ООН
аусура адгылара ахьашәҭо”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Трунен.
“Амаӡаныҟәгаҩ хада,
Женеватәи аицәажәарақәа ирылахәу акоманда русура иациҵеит”.
Уи Аҳәынҭқарра Ахада
адырра ииҭеит, арегион аҟны аус зуа ООН ахаҭарнакцәа ргәыҧ ишалаҵоу еиҭа
ҩыџьа аеқспертцәа – арратәи аполициатәи зҵаарақәа рзы. А.Трунин агәыҕра
ааирҧшит арегион аҟны ашәарҭадара алыршаразы лыҵшәала аусура ишацҵахо
ала.
“Аҧсны анапхгара адгылара
арҭоит Женеватәи ацәажәарақәа, ҳагәгьы иҭоуп аринахысгьы урҭ
рылахәхара”, - иҳәеит С.Багаҧшь.
Багаҧшь иажәақәа рыла,
“Женеватәи аицәажәарақәа аҭахыуп ашәарҭадареи, аибашьра аиҭамырҿыцреи,
аекономикатә корридорқәа раартреи рзы”. “Аха макьаназы, ҳара
ҳажәалагалақәа иарбанзаалак адгылара ҳәа акагьы рымам”, - иазгәеиҭеит
аҳәынҭқарра Ахада.
“Изныкымкәа Аҧсны
аекономикатә проектқәа раларҵәаразы агәыҕрақәа шҳарҭоугьы, уи
ауадаҩрақәа ацыуп”, - иҳәеит Багаҧшь, ҿырҧшысгьы иааигеит Финлиандиа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҭыс, уаҟа Аҧсны аҭелтә еимадара
аоператорцәа мап рыцәнакит афирма «Nokia» аҟны аиқәыршәагақәа раахәара.
“Ари хаз-хаҭалатәи
аилахәыра абизнес-проектқәа ируакыуп. Араҟа политика ҳәа акагьы аҵам. Ас
еиҧш аекономикатә санкциақәа аҧхьаҟагьы аҭыҧ рауазар, аполитика
иадҳәалам акоммерциатә еилазаарақәа рганахьала, ҳара ҳазхыцуеит
Женеватәи абжьгарақәа рылахәхара хәарҭара ахьынӡамоу”, - иҳәеит Багаҧшь.
“Ҳәарада,арҭ азҵаарақәа
рыӡбаразакәым шәара арахь шәзааз, аха сара урҭ сымхәар ауам, избанзар
урҭ ӡбамкәа аҧхьаҟа Женеватәи ацәажәарақәа рылахәхара ҳазхәыцыр
акәхоит”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Багаҧшь.
“Ҳара ҳаҳәом азхаҵара,
аимадарақәа раартра, аинвестициақәа уҳәа убас егьырҭгьы, иахәҭоуп ҳәа
азаҳаҧхьаӡоит 2006 шықәса раахыс амиссиа ацхыраарала Аҧсны иаларҵәаз
аекономикатә проектқәа рыцҵара”, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.
17.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Аҧыза-министр С.Шамба усуҩтә визитла Москваҟа дцеит |
Аҧсны Аҧыза-министр
С.Шамба усуҩтә визитла Москваҟа дцеит.
Урыстәыла аҳҭны-қалақь
аҟны, Аҧсны аиҳабыра рхада Урыстәылеи Аҧсни рсоциал-економикатә усеицура
иадҳәалоу азҵаарақәа дрылацәажәоит.
15.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Марттәи ажәылара
иахыҵит 17 шықәса |
Аҟәа, Ахьӡ-аҧша апарк аҟны
имҩаҧысит 1992-93шш. рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахаз
Рмемориал аҿаҧхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа.
17 шықәса раҧхьа, 1993
шықәса, хәажәкыра 15-16 рзы Аҧсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Қырҭтәыла
Аҳәынҭсовет архәҭақәа рыҟнытә ахақәиҭтәразы ажәылара мҩаҧган.
Илыҵшәадахаз ари ажәылараҟны иҭахеит 400-ҩыуаак рҟынӡа аҧсуа еибашьцәа,
зықьҩыуаак рҟынӡа ироуит ахәрақәа, 70-ҩыуаак хабарда ибжьаӡит.
Ашәҭқәа рышьҭаҵара
ацеремониа иалахәын аибашьра аветеранцәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
С.Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ А.Анқәаб, апарламент адепутатцәа, аиҳабыра
алахәцәа, аруаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
15.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Потсдамтәи
аунивирситет апрофессори Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадеи алацәажәеит Аҧсны
аполитикатәи аекономикатәи ҿиара аперспективақәа |
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
Сергеи Багаҧшьи Потсдамтәи аунивирситет апрофессор Дитер Бодени
алацәажәеит Аҧсны аполитикатәи аекономикатәи ҿиара аперспективақәа.
Аиҧылара иара убас далахәын жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чырыкба.
Иазгәаҭатәуп, 1995-1996
шшш.рзы Дитер Боден Қырҭтәыла иҟаз ОБСЕ иҷыдоу амиссиа ахадас дшыҟаз,
1999 ш.ҧхынҷкәынмзазы уи дҟаҵан аҧсуа-қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы
ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдас.
“Ҳара ҳаигәырҕьоит шәара
даҽазныкгьы араҟа шәбара. ООН амиссиа ареспубликаҿы аус ауит акыршықәса,
уаҟа аус зуаз арегион аҟны иҟаз ауадаҩрақәа рдыруан, иацхраауан
аицәажәарақәа реиҿкаара, аҭагылазаашьа аҷыдарақәа зегьы рдыруан, аха ООН
аӡбара аднакылеит амиссиа хнаркәшарц.
Аҧсны анапхгара ООН
амиссиа ааныжьра рыгәҭакын, убри аан аҿыц цәырҵрақәа ҳасаб рзуны,
аицәажәарақәа рыцҵара иақәшаҳаҭын”, - иҳәеит анемец дипломат бзиала
уаабеит ҳәа иаҳәо Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь. Уи иазгәеиҭеит
аҧсуа-қырҭуа еимакы азонаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәараҟны
Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара инанагӡоз ароль.
“Иҭышәынтәалоу
аҭагылазаашьаҟны ҳара ҳазхиоуп иазхаҵоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳацәажәара
иазхиоу рыҟны иарбанзаалак жәларбжьаратәи аилазаарақәа рыҟны
аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара,”- инаҵшьны иазгәеиҭеит Багаҧшь.
Иазгәаҭатәуп, Урыстәыла
Афедерациа 2008 шықәса, нанҳәамзазы Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра
шазханаҵаз.
ОБСЕ-и Евроеидгылеи
рынаҧшцәа Рмиссиа атәы акәзар, Багаҧшь даҽазныкгьы иазгәеиҭеит, урҭ
араҟа рыҟазаара шзалымшо. “Урҭ ыҟазароуп аибашьра ацәшәара ахьынтәаауа _
Қырҭтәыла”, – иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.
Дитер Боден иҧылараҟны
Багаҧшь ишьҭихит Аҧсны атәылауаа Евроеидгыла атәылақәа рахь рцара
азҵаара атәгьы. Уи ишьақәирҕәҕәеит, ҳтәылауаа мап рыцәкра ҵаҵҕәыс иамоу
зны-зынла зынӡагьы ишырымҳәо, мамзаргьы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭаҟны
авиза шроуа ала абжьгарақәа шрырҭо “.
Сергеи Багаҧшь Дитер Боден
изеиҭеиҳәеит Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәынҭҳәаа арҕәҕәара иадҳәалоу
аусмҩаҧгатәқәа ртәы, Урыстәыла Афедерациеи Ареспублика Аҧсни
аҳәынҭҳәаақәа рыхьчаразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра, ареспублика ауааҧсыра
ршәарҭадара ахьчара хырхарҭас ишамоу. Багаҧшь иазгәеиҭеит Урыстәыла
Афедерациа ароль ари арегион аҟны ашәарҭадара ишагарант хадоу, иара убас
Аҧсны аекономикатә партниор хада шакәу.
Анемец дипломат
иҿцәажәараан Багаҧшь дырзааҭгылеит Женеватәи аицәажәарақәагьы. “Аҧсны
макьаназы арҭ аицәажәарақәа ирылахәхалоит “Медведев-Саркози” Аиқәшаҳаҭра
ҳасаб азуны”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит
жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Виачеслав Чырыкба дшыҟаҵахо
Женеватәи ацәажәарақәа рыҟны Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
Ихаҭарнак ҷыдас. Убри аан уи иазгәеиҭеит аҭышәынтәалара аперспектива ҳәа
акагьы шимбо.
11.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧснытәи
аҳәынҭқарратә унивирситет ааҧхьарала Аҧсны дааны дыҟоуп Потсдамтәи
аунивирситет апрофессор Дитер Боден |
Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа
рминистрраҟны имҩаҧысит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Даур
Ақаҩбеи Потсдамтәи аунивирситет апрофессор Дитер Бодени реиҧылара.
Иазгәаҭатәуп, 1995-1996
шшш.рзы Дитер Боден Қырҭтәыла иҟаз ОБСЕ иҷыдоу амиссиа ахадас дшыҟаз,
1999 ш.ҧхынҷкәынмзазы уи дҟаҵан аҧсуа-қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы
ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдас.
Аҵарауаҩ бзиала уаабеит
ҳәа иаҳәо, Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Дитер Боден Аҧсны дшеицырдыруа.
“Шәара ибзианы ижәдыруеит ҳрегион аҟны уадаҩрақәас иҟоу, избанзар ООН
амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдас шәаныҟаз урҭ азҵаарақәа рыӡбара шәнапы
ианын”, - иҳәеит Ақаҩба. – Аҧсны шәмааижьҭеи акыр шҵуа ала, еиҭах араҟа
шәбара ҳаигәырҕьоит”.
Рыцҳарас иҟалаз,
азгәеиҭеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ, Боден ивизит
Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҧсра инамаданы
алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа ирықәшәеит.
Аиҧылара иалахәыз
минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит Амилаҭтә Фырхаҵа Владислав Арӡынба.
Дитер Боден аиҧылараҟны
ишазгәеиҭаз ала, уажәазы Аҧсныҟа дшааз ҵарауаҩык иаҳасабала шакәу.
“Ҳәара аҭахыума, сара ибзианы исгәалашәоит араҟа ООН амаӡаныҟәгаҩ хада
ихаҭарнак ҷыдас аус анызуаз. Аринахысгьы сара срызҿлымҳауп шәара
шәразҟи, Кавказ арегион зегьи. Ари сара схала мацара сакәӡам иазҿлымҳау,
иазҿлымҳауп иара убас европаа аӡәырҩы. Иахьа, ари азҿлымҳзара иаҳагьы
иҕәҕәоуп уаанӡа аасҭагьы”, - иҳәеит Боден.
“Ҳара зегьы иаадыруеит
макьана иӡбам ауадаҩрақәагьы шыҟоу. Ари арегион аҟны аҭынчра ҟалар зегьы
иаҳҭахыуп”, - иазгәеиҭеит ООН ҧасатәи ачынуаҩ.
Иахьа Аҧснытәи
аҳәынҭқарратә унивирситет астудентцәеи иареи реиҧылара “аинтерес ду
аҵан” ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ. Анаҩс аиҧылара мҩаҧысуан ажурналистцәа
аламырхәӡақәа. Уаҟа иара убас иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистрра
жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы, Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа
рлахәыла Лана Агрбеи, Акоординациатә комиссиа ахантәаҩы Зураб
Лакербаиеи.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз
Дитер Боден гәнамӡарыла иазгәеиҭеит, 7 шықәса раахыс Аҧсны дшымаацыз.
“Убри аан сара сеигәырҕьоит аунивирситет аректор иааҧхьарала, сара иахьа
ара сахьыҟоу. Иахьа имҩаҧысит астудентцәеи сареи ҳаиҧылара, уи агәахәара
ду снаҭеит”, - иҳәеит Боден.
“Сара араҟа аус зуан,
иахьазы арахь сааит ҵарауаҩык иаҳасабала, аҭагылазаашьа сазыӡырҩны
еилкааны егьырҭ ирзеиҭасҳәарц азы. Сара слагаламҭа хәыҷы ҟасҵарц сҭахыуп
иҟоу ауадаҩрақәа шәрылҵразы, Кавказ иҭышәынтәалоу регионны иҟаларазы”, -
иазгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Аҧсны аҳәынҭқарра
раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изы ажәа ҳәо, Боден иазгәеиҭеит: “Ҳара
изныкымкәа ҳаиқәшәахьан иареи сареи, исҳәарц сылшоит ҳабжьара иаартыу
агәаанагарақәа реибыҳәара шымҩаҧысуаз. Сара исызҳәом, азҵаарақәа зегьы
рыҟны ҳаиқәшаҳаҭхон ҳәа, аха ҳара пату еиқәаҳҵон. Сара пату ақәысҵон
иаартреи, иҧсыцқьареи. Сара издыруеит иара иаамҭаз алагала ду шыҟаиҵаз
иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы амҩақәа рыҧшаараҿы.
11.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Владислав
Арӡынба инижьхьаз ауасиаҭ ала анышә дамардеит иқыҭа гәакьаҿ Ешыра |
Аҧсны аҳәынҭқарра
раҧхьатәи Ахада, Амилаҭтә Фырхаҵа Владислав Григори-иҧа инижьхьаз
ауасиаҭ ала, анышә дамардеит Аҟәа араион Ешыра ақыҭан,
Гәмысҭатәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа Рмемлориалтә комплекс аҟны.
Араҟа иҟоуп иара убас аибашьра ахьӡ-аҧша Амузеи. Владислав Арӡынба анышә
дахьамардаз аҟнынтә иубарҭоуп Гәмысҭа аӡиас, 1992-93 шықәсқәа рзтзи
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи афронт ацәаҳәа.
Зықьҩыла Аҧсны
ауааҧсыра ааит иахьа Аҟәа, раҧхьатәи Рхада наунагӡа абзиараз ҳәа
иаҳәаразы. Шьыжьнаҵы Арӡынба иҧсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ ахьықәгылаз Аҧснытәи
аҳәынҭқарратә Филармониахь иаауан ҵҩа змам ауаа Аҧсны Афырхаҵа иҿаҧхьа
ихырхәаразы. Арӡынба аҧсуа жәлар рмилаҭә-хақәиҭратә қәҧара дасимволуп.
Владислав Арӡынба
иҧсра – Аҧсны жәлар зегьы рзы рыцҳара духеит, ауаа рылаҕырӡқәа
рзыҵәахуамызт. Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада наунагӡа абзиараз ҳәа
иаҳәаразы арахь иааит амилаҭтә еилазаарақәа зегьы, убрахь иналаҵаны
ацыганцәа реилазаарагьы.
Алахьеиқәратә митинг
алагара 14.00 сааҭ рзы иазгәаҭазгьы, ауаа рнеира ахьеихымсыҕьуаз азы,
сааҭк ихьшәаны иалагар акәхеит.
Зыкьҩыла ауаа
аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон раҧхьагыла Владислав Арӡынба.
09.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Ауаажәларратә
еидҵарақәа Рассоциациа “Аҧсны Аурыс еилазаара” В.Арӡынба иҧсҭазаара
иалҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵоит
|
Ауаажәларратә
еидҵарақәа Рассоциациа “Ареспублика Аҧсны Аурыс еилазаара” гәалсра дула
адышшылара ҟанаҵоит Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Влаислав
Григори-иҧа Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
“Владислав Арӡынба
Аҧсны жәлар зегьы дыргәадуран, ус дагьаанхоит. Владислав Григори-иҧа
Арӡынба дааигәаны дыздыруаз зегьы рзы, Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы
ақәҧараҿы арҕьажәҩара изызуаз зегьы рзы уи ихьыӡ наӡаӡа иадҳәалахоит
ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра аҧҵара”, - ҳәа аҳәоит ауаажәларратә
еидҵарақәа Рассоциациа “Ареспублика Аҧсны Аурыс еилазаара” иҟанаҵо
адышшылараҟны.
09.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Алорд
Евербери Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра
инамаданы адышшылара ҟаиҵоит |
Аҧсны Аҳәынҭқарра
раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы Алорд
Евербери адышшылара шәҟәы ааишьҭит (Лондон, Британиа Ду).
“Сара даара сгәы
иалсит В.Арӡынба иҧсра, гәалсрыла срыдышшылоит уи иҭаацәа”, - ҳәа аҳәоит
Алорд Евербери идышшылараҟны.
08.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
иҟоу УА ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара
ҟанаҵоит В.Арӡынба иҧсра инамаданы |
Аҧсны иҟоу Урыстәыла
Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь
адышшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
В.Арӡынба иҧсра инамаданы.
“Аҧсны иҟоу
Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа гәалсра дула ирыдыркылеит изаамҭанымкәа
зыҧсҭазаара иалҵыз Владислав Григории-иҧа Арӡынба иҧсра”, - ҳәа аҳәоит
адышшларатә шәҟәы аҟны.
Урыстәыла
ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь аҳәара ҟанаҵоит
ирыдышшыларц Аҧсны анапхгареи В.Г.Арӡынба иҭаацәеи.
04.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Дмитрии
Медведев дрыдышшылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Аҧсны жәлар
зегьи Владислав Арӡынба иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы |
Урыстәыла Апрезидент
Дмитрии Медведев раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба
иҧсҭазаара дахьалҵыз гәалсра дула идикылеит.
Дмитрии Медведев
ҭелла диҿцәажәеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь. Уи иазгәеиҭеит
иахьатәи амш шархәашьыз Владислав Арӡынба иҧсра иадҳәалоу ажәабжь
хьанҭа.
Урыстәыла Апрезидент
гәалсра дула дрыдышшылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи Аҧсны
жәлар зегьи.
04.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Иахьа
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ареспублика анапхгареи аиҳабыреи
реилатәра мҩаҧигеит |
Иахьа Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ареспублика анапхгареи аиҳабыреи
реилатәара мҩаҧигеит, уаҟа иаҧҵан иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ,
раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҧсыжра
аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Акомиссиа аилазаараҟны: Ареспублика
Аҧсны Аҧыза-министр С. Шамба, Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ
В.Цыгәба, Атәылахьчара аминистр М.Кьышьмариа, Аҟәа ақалақьи, Аҟәа
араиони Рхадарақәа реиҳабацәа А.Лабахәуеи, В.Аҩӡбеи, Аҧсны
Аҵарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Ш. Арсҭаа, Алада Ешыра ақыҭа ахада
Ҭ.Езыгәбаиа. Аҳәынҭқарратә комиссиа хадара азиуеит Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада С. Багаҧшь.
Иаарласны, Владислав
Арӡынба иҭаацәа рыҟны абжьгарақәа рышьҭахь,Аҳәынҭқарратә комиссиа
раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧсыжра аиҿкааразы аусмҩаҧгатәқәа
рыланаҳәоит.
04.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Раҧхьатәи Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба иҧсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә
комиссиа хадара азиуеит Сергеи Багаҧшь |
Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада Сергеи Багаҧшь хадара азиуеит раҧхьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада
Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҧсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа.
Сергеи Багаҧшь
аилатәара мҩаҧигоит. Иаарласны аҧсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә
комиссиеи Владислав Арӡынба иҭаацәеи еицазгәарҭоит аҧсыжра арыцхәыи
егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи.
Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада инапынҵала Аҧсны Аҧыза-министр Сергеи Шамба ддәықәҵоуп Москваҟа.
Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит аиҳабыра ринформациатә усбарҭа аиҳабы
Кристиан Бжьаниа.
04.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Иҧсҭазаара
далҵит раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба |
Иахьа ашьыжь , Москва
Ацентртә клиникатә хәышәтәырҭаҟны иҧсҭазаара далҵит раҧхьатәи Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба.
Владислав Григори-иҧа
Арӡынба Москватәи Ацентртә клиникатә хәышәтәырҭаҟны дышьҭаҵан жәабран 26
рзы. Раҧхьатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада 64 шықәса ихыҵуан.
04.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
А.Анқәаб
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны игәеиҭеит аиҭашьақәыргыларатә
усурақәа рымҩаҧысшьа |
Хәажәкыра 2 рзы,
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб Аҧснытәи
Аҳәынҭқарратә драматә театр даҭааит, уаҟа игәеиҭеит
арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧысшьа.
Аҧснытәи
Аҳәынҭқарратә драматә театр аартын 1952 шықәса рзы. Убри аахыижьҭеи
ахыбраҟны зныкгьы имҩаҧгамызт акапиталтә рҽеирақәа.
Иҳаҩсыз ашықәс азы
атеатр ахыбра ҧсахын. Ҳазҭалаз ашықәс азы ахыбра иҵатәаз аӡы рбоуп.
Уажәы имҩаҧысуеит асцена аҧыргара. Убри инаваргыланы аӡымҩангагақәеи
арҧхагақәеи рышьҭаҵаразы аусурақәа мҩаҧысуеит. Ишьҭаҵоуп 25 км. рҟынӡа
атрубақәа. Иҟаҵатәны иҟоуп иара убас афымцамҩангага ҿыцқәа рнагара, уи
азын иаҭахыуп 120 км. рҟынӡа аҭел.
Аҧснытәи
Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгаразы
иазҧхьагәаҭоуп 300 миллион мааҭ рҟынӡа ахарџьқәа.
“Атеатр ахыбра
иҷыдоу архитектуратә обиектуп. Араҟа иуадаҩу, ахарџь рацәа зқәырӡтәу
аусурақәа мҩаҧгатәуп”, - иҳәеит Анқәаб.
Уи игәеиҭеит атеатр
ауадақәа (адекорациақәа рыҵәахырҭақәеи, административтә корпуси,
аҿырхиагатә уадеи, аҩбатәи аихагыла афоиеи”.
Аҳәынҭқарра Ахада
ихаҭыҧуаҩ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧысшьа агәахәара инаҭеит.
Убри аан уи аргылаҩцәа ргәы рҽаниҵеит арҽеиратә усурақәа рхаҭабзиаразы
ирыду аҭакҧхықәразы.
02.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
В.Аршба
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы имаҵзура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп даҽа
усурҭак ахь дахьиасуа инамаданы |
Валерии Аршба Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы имаҵзура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп даҽа
усурҭак ахь дахьиасуа инамаданы. Абри азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.
Иахьа Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада анаҩстәи Иусҧҟала Зураб Қаџьаиа дҟаҵоуп Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩыс.
01.03.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
|