AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 

 Александр Анқәаби Александр Ткачиови Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыбжьара русеицура азҵаарақәа ҭелла ирылацәажәеит

Иахьа ҭелла еиҿцәажеит Аҧсны ахада Александр Анқәаби Краснодартәи атәылаҿацәа губернатор, Урыстәыла ахада Аҧсны ҷыдалатәи ихаҭарнак Александр Ткачиови.

 

Александр Анқәаби Александр Ткачиови Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыбжьара русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

Иаарласны Александр Ткачиов Аҧсны даҭаауеит,- аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы еиҿкаау аинформациатә усбарҭа.

 

26.03.2012 Аҧсныпресс

 

 Шәҩык инареиҳаны ауааҧсыра Аҳәынҭқарра ахада иадминистрациа иаҭааит адкыларҭатә мшы аҽны

 

Иахьа, ашәахьаҽны ишаҧу еиҧш, Аҳәынҭқарра ахада иадминистрациаҿы адкыларҭатә мшы ыҟан. Ашьыжь инаркны Александр Анқәаб ауааҧсыра идикылон. Еиуеиҧшым азҵаарақәа рыла Аҳәынҭқарра ахада иадминистрациа иаҭааит шәкы инареиҳаны ауааҧсыра. Абри атәы аанацҳауеит Аҳынҭқарра ахада иҿы иҟоу аинформациатә усбарҭа аҟынтәи.

 

26.03.2012 Аҧсныпресс

 

 Амедицинатә цхыраара лассы азы автомашьынақәа жәаба иахьа Аҟәаҟа иааргоит

 

Амедицинатә цхыраара лассы азы автомашьынақәа жәаба иахьа Аҟәаҟа иааргоит. Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла амашьынақәа араионқәа зегьы ирызшахоит. Урҭ аагахоит Арабтәылантәи, Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны.

 

Машьынак 45100$ иаҧсоуп.

 

“Арабтәылантәи иаагахо амедицинатә цхыраара лассы азы «TOYOTA» зыхьӡу амашьынақәа зегьы иреҕьу ҳәа иҧхьаӡоуп. Урҭ рныҟәцара ҳамҩақәа рзыҳәан иманшәалоуп”, - иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан.

 

19.03.2012 Аҧсныпресс

 

 Акультура аминистр Бадра Гәынба Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 80-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

 

Акультура аминистр Бадра Гәынба Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 80-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

 

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит алитературеи, ауаажәларра-аполитикатәи, акультуреи аҿиараҿы ашәҟәыҩҩы илагалақәа ртәы. Иара аиубилиар изеҕьаишьеит ашықәс рацәа, агәабзиара, ақәҿиарақәа.

 

Бадра Гәынба Алексеи Гогәуа агәаларшәагатә ҳамҭа ианеишьеит.

 

15.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәара аусзуҩцәа Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 80-шықәса ихыҵра идырныҳәалоит

 

Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәара аусзуҩцәа Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 80-шықәса ихыҵра идырныҳәалоит. Изеҕьаршьоит агәабзиара, ашықәс рацәа, агәырҕьареи ақәҿиара дууқәеи.

 

15.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дуула ирыдышшылоит амҩатә машәыр иахҟьаны Швеицариа ауааҧсыра ахьҭахаз

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дуула ирыдышшылоит амҩатә машәыр иахҟьаны Швеицариа 28-ҩык Бельгиа атәылауаа ахьҭахаз. Иҭахаз рхыҧхьаӡараҿы иҟан 22-ҩык ахәыҷқәа.

 

“Аҧсны Жәлар Бельгиа рыжәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит. Агәыҕра ааҳарҧшуеит аҭахара иацәынхаз иаарласны ибзиахап ҳәа”, - иазгәаҭоуп Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылараҿы.

 

15.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 80 – шықәса ихыҵит

 

Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 80 – шықәса ихыҵит. Аиубилиар дидныҳәаларц дидикылеит Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа. Аиҧылара далахәын Жәлар Реизара ахантәаҩы Нугзар Ашәба.

 

Леонид Лакербаиа атәыла аиҳабыра рыхьӡала аиубилиар имш иира идиныҳәалеит. Изеҕьаишьеит агәабзиареи агәамчи. Ҳамҭаҵас ианеишьеит Аҧсны ауахәамақәа рцикл ала иҭыжьу аҧсарқәа.

 

Алықьса Гогәуа иганахь ала аҳаҭыр ахьиқәырҵо азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

 

15.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Хәажәкыратәи ажәыларақәа 19-шықәса рхыҵра

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Хәажәкыратәи ажәыларақәа 19-шықәса рхыҵра. Хәажәкыра 15-16 рзы аҧсуаа аибашьцәа Аҟәа ахақәиҭтәра азы ажәылара ҕәҕәа рхыргеит. Ҩымш ицоз аоперациа қәҿиарала ахыркәшара залмыршахеит, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа еиҭаҵыр акәхеит.

 

Хәажәкыратәи ажәыларақәа ирылахәы аибашьцәа уи ргәаладыршәоит аибашьра аҟны зегь раасҭа иуадаҩыз акәны. Уаҟа Аҟәа ахақәиҭтәразы иҭахеит 222 – ҩык аибашьцәа, 23 – ҩык хабарда иабжьаӡит, ирацәаҩны ахәрақәа роуит.

 

Хәажәкыратәи ажәыларақәа раан иҭахаз ргәаладыршәарц Аҟәа, Ахьӡ Аҧша апаркаҿ Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаҧысит.

 

Уи иалахәын аибашьра аветеранцәа, Аҧсны Ахада Александр Анқәаб, ахада ихаҭыҧуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара ахантәаҩы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа, апарламент адепутатцәа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.

 

Арҭ амшқәа ргәаларшәаразы есышықәса ҳреспубликаҿы иҭахаз рбаҟақәа рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵоит, иадыркуеит ацәашьқәа, ашколқәа рҟны имҩаҧысуеит марттәи ажәылрақәа ирылахәыз аибашьцәа рҧыларақәа.

 

15.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Гагра араион аҟны ашәахтәқәа реизгаразы аҭагылазаашьа аиҕьхара иаҿуп

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб дидикылеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Рауф Цымцба.

 

Атәыла ахада дазҵаауан аҵыхәтәантәи ҩымыз рыҩныҵҟа аминистрра иадыз аплан шынанагӡаз атәы.

 

Аминистр иажәақәа рыла, февральтәи арбагақәа еиҳа еиҕьуп ианартәиқәа раасҭа. Араионқәа зегьы рҟны аплан ишахәҭоу анагӡара иаҽуп. Насгьы иара иҳәеит, ҵыҧх Очамчыреи Гагреи рраионқәа рҟны апланқәа рынамыгӡара азгәаҭазгьы сынтәа урҭ ибзианы рынагӡара ишаҿу.

 

15.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Иҵит 99-шықәса диижьҭеи ашәҟәыҩҩы Георги Гәлиа

 

Иахьа иҵит 99-шықәса диижьҭеи ашәҟәыҩҩы Георги Гәлиа. Аҧсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҧа – Георги Гәлиа диит 1913 ш. Хәажәкырамза 14 рзы. Занааҭла динџьнырын. Аус иуан Амшын Еиқәатәи аихамҩақәа рыргылараҿы. Ажурналистикеи асахьаҭыхреи дазҟазан.

 

1930 шықәса раахыс аҩра иҽазикит. Дравторуп зхыҧхьаӡара рацәоу астатиақәа, ажәабжьқәа, ароманқәа, аповестқәа. Иҩымҭақәа рзыҳәан ианашьоуп аорденқәа жәпакы. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианашьан “Саб изкәу аповест” зыхьӡу аҩымҭазы.

 

Иҧсҭазаара далҵит 1989 шықәса рзы. Джуп Аҟәа агәаны. Москва дахьынхоз аҩыны аҟны уажәыгьы икыдуп амемориалтә ҕәы.

 

14.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит ажурнал “Евразиа” аҭыжымҭа аӡыргара

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит ажурнал “Евразиа” аҭыжымҭа аӡыргара. Италиатәи ажурнал аҟны ианылеит Аҧсны иазкәы анҵамҭа. Уи автор – апрофессор, асоциолог Мауро Мурџьиа, ажурнал аредактор Филиппо Педерцин дицны Аҧсныҟа дааит.

 

Ажурнал “Евразиа” ҭыҵуеит Италиа, тиражла 10,000 инаӡоит. Иара еиҳараӡак инаргоит Италиатәи ақалақь дуқәа рбиблиотекақәа рахь, насгьы италиатәи адипломатиатә миссиақәа ахьыҟоу атәылақәа рахь, адәқьанқәа рҿгьы иуҧылоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәеи атәылахьчара аминистрреи рҟны лассы-лассы инаргоит.

 

Апрофессор Мауро Мурџьиа иоуп итало-аҧсуа аиҩызаразы ассоциациа ашьаҭа азыркыз. Иара изныкымкәан Аҧсныҟа даахьеит, аҧсуа жәлар дырҧылон, иҭиҵаауан аҭоурых, еилыикаауан аратәи апроблемақәа. Апрофессор ибзианы еилыикаауеит ҳара ҳапроблемақәа, егьилшеит урҭ истатиаҿы аарҧшра. Мурџьиа Аҧсны Ареспублика ҳәа ауп дшахцәажәо, уаҟа иҳәоит ишизеилымкаауа ас еиҧш ижәытәӡатәу аҭоурых змоу аҳәынҭқарра Европатәи Аидгыла иахьазханамҵо.

 

Итало-аҧсуа аиҩызаразы ассоциациа ыҟаӡам ҳәа иқәгылан Италиатәи Қарҭтәи адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа. Аха адипломатиатә еиҿагыларақәа алҵшәа бзиақәа ааргеит. Ауаажәларра Аҧсны азы аинтерес ду рызцәырҵит. Филиппо Педерцин иҳәеит, дара ишеилыркааз Қарҭ иамоу аагәаанагарада даҿакы шыҟоугьы. “Аҧсны иазкны ақырҭцәа ракәым, аҧсуаа роуп изҳәалаша” , - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Насгьы иҳәеит, ари астатиа раҧхьаӡатәи ашьаҿа шакәы, уи ишашьҭанеиуа егьырҭгьы.

 

Мауро Мурџьиа агәра ганы дыҟоуп ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа шаҧҵалатәу ала. “Ҳара уи азы иҳамоуп аҭагылазаашьа бзиақәа. Уажәы Италиа аҽыхәышәтәра дыҟоуп аҧсуа - Беслан Ладариа. Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль ааразы ҳҽазыҟаҳҵоит, иааҳаҧхьалоит аспорттә командақәа еиуеиҧшым аицлабрақәа ралархәразы. Иахьа акәымзар, уаҵәы Аҧсны азхаҵара аиуеит. Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵараҿы США иамоу агәаанагара еилкаауп, аха сара исзеилкаауам Европатәи Аидгыла агәаанагара”, – иҳәеит апрофессор.

 

12.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Хәажәкыра 10 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа

 

Хәажәкыра 10 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа. 35 ҭыҧ ахьыҟаз иқәгылан 114 –ҩык акандидатцәа. Зныктәи абжьыҭиирала алхрақәа мҩаҧысит алхратә ҭыҧ хадақәа 13 рҟны. Егьырҭ алхратә ҭыҧ хадақәа рҟны акандидатцәа алхыҩцәа рыбжьқәа ахьырзымхаз иахҟьаны (алхрақәа иалахәыз алхыҩцәа рыҧхьаӡара 50% инамӡаӡеит) алхрақәа аҩынтәраан имҩаҧгахоит.

 

Зынӡа алхрақәа рҽрыладырхәит 44, 50% абжьыҭииразы ашәҟәы иҭагалах алхыҩцәа.

 

Алхрақәа ирылахәыз Жәларбжьаратәи анаҧшҩцәа иазгәарҭеит, алхрақәа аилагарақәа рыда ишымҩаҧысыз.

 

Аҩбатәи атур мҩаҧгахоит Хәажәкыра мза 24 рзы.

 

12.03.2012  Аҧсныпресс

 

Аҧсны аҳәынҭқарра ажәлар реизара алхрақәа актәи атур имҩаҧысит

 

Аҟәа, Хәажәкыра 10 рзы имҩаҧысыз алхрақәа рҟыны ажәлар реизара иаллеит:

 

  1. Аокруг №  9 – Валери Бганба - 52,9%

  2. Аокруг №12 – Багаршак Косиан - 58,59%

  3. Аокруг №14 – Гәрам Барганџьиа – 55,44%

  4. Аокруг №18 – Aхрa Пачулиа (Ҧaчлиа) – 51,19%

  5. Аокруг №19 – Фазилбеи Аҩӡба – 55,51%

  6. Аокруг №22 – Робермт Иаилиан – 50,07%

  7. Аокруг №23 – Саид Ҳаразиа – 50,29%

  8. Аокруг №28 – Teмур Квициниа (Kәҵниа) - 53,52%

  9. Аокруг №29 – Oтар Цвижба (Ҵәыжьба) - 66,27%

10. Аокруг №30 – Рaул Ҳаџымба – 73,12%

11. Аокруг №32 – Eммa Гамисониа – 62,08%

12. Аокруг №34 – Нодикь Квициниа (Kәҵниа) – 54,52%

13. Аокруг №35 – Бежьан Убириа – 68,51%

 

Хәажәкыра 24 рзы имҩаҧысраны иҟоу аҩбатәи атур ахь иаанхаз:

 

Аокруг № 1

1. Роланд Гамгьиа

2. Ҭалиҳ Ҳәатыш

 

Аокруг №2

1. Aхра Aбыхәбa

2. Aслан Koбaхьиа

 

Аокруг №3

1. Рита Лолуа

2. Беслан Ҵвинариа (Ҵнариа)

 

Аокруг №4

1. Aмиран Лагвилава

2. Валери Aгырба

 

Аокруг №5

1. Валери Aрӡынба

2. Aхрa Бжаниа

 

Аокруг №6

1. Ирирна Агырба

2. Aртур Mиквабиа (Амқәаб)

 

Аокруг №7

1. Руслан Ҳарабуа

2. Заур Иазыҷба

 

Аокруг №8

1. Беслан Гәбаз

2. Дона Maлиа

 

Аокруг №10

1. Aнзoр Кәакәскьыр

2. Taмaз Хьeциа

 

Аокруг №11

1. Витали Ажьиба

2. Беслан Барцыц

 

Аокруг №13

1. Гьеоргьи Агырба

2. Aсҭамыр Aибa

 

Аокруг №15

1. Aслан Лакоба (Лакәар)

2. Mихаил Сангәылиа

 

Аокруг №16

1. Заур Аҩӡба

2. Леонид Чамагәа

 

Аокруг №17

1. Гьиви Габниа

2. Димитри Гәынба

 

Аокруг №20

1. Леван Галустиан

2. Галуст Tраизониан

 

Аокруг №24

1. Aлексеи Латариа

2. Aдгәыр Ҳаразиа

 

Аокруг № 25

1. Дaур Aрышбa

2. Иури Зухба

 

Аокруг №26

1. Хьрыҧс Џопуа

2. Teмур Лoгәa

 

Аокруг №27

1. Нугзар Aшәбa

2. Aполлон Гәыргәлиа

 

Аокруг №31

1. Kaн  Kәарҷиа

2. Aлықьсандр Ченгьелиа

 

Аокруг №33

1. Aхрa Кәакәскьыр

2. Руслан Қьышмариа

 

11.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауаажәларратә усзуҩы, апоет, прозаик Борис Гәыргәлиа

 

Иахьа Аҧсны ауааҧсыра аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауаажәларратә усзуҩы, апоет, прозаик Барис Гәыргәлиа.

 

Еицырдыруа апоет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, апублицист, арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Борис Алмысхан-иҧа Гәыргәлиа иҭахара ҳтәыла ауааҧсыра зегьы аршанхеит.

 

Борис Алмысхан-иҧа Гәыргәлиа диит 1935 шықәса ииуль 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 1948 ш. рзы далгеит Кәтолтәи ацхыраагӡатә школ. 1953 ш. рзы Тамшьтәи абжьаратә школ хыркәшаны дҭалеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, дагьалгеит 1958 шықәса рзы. 1964-1967 ш. рзы иҵара иациҵон адунеизегьтәи алитературатә институт аҟны (аспирантура). 1964 ш. рзы КПСС далан. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессорс дыҟан. Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны хадара азиуан агәманитартә ҭҵаарадыррақәа ркафедра. Аҧсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидгылеи далан. 1997-2002 ш. рзы дыҟан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс.

 

Борис Гәыргәлиа дравторуп хыҧхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа реизгақәа, астатиақәа, аочеркқәа.

 

Борис Гәыргәлиа иҧа – Аҧсны Афырхаҵа Абзагә Гәыргәлиа Аҧсадгьыл ахьчараз дҭахеит.

 

Ашәҟәыҩҩы анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Кәтол. Уи абзиараз ҳәа иарҳәарц уахь инеит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа. Алахьеиқәҵаратә митинг аҟны иқәгылан ашәҟәыҩҩцәа Даур Наҷҟьебиа, Анзор Мықәба, Геннади Аламиа, Мушьни Лашәриа, Владимир Занҭариа, академик Олег Шамба, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Константин Кәыҵниа.

 

06.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Аботаникатә баҳчаҿы еиҭаҳауп Сергеи Багаҧшь игәаларшәара иазкәу аҵла

 

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны еиҭаҳауп Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь игәаларшәара иазкәу аҵла.

 

“Ҩ-метрак иҟоу акипарисҵла Лавсона 45 метра аҟынӡа еизҳар алшоит. Иара аагоуп Аладатәи Американтәи”, - иҳәеит академик Сергеи Бабиа.

 

Агәаларшәаратә ҵла аиҭаҳара ацеремониа иалахәын Аботаникатә Институт аусзуҩцәа, Аҧсны аҭҵаарадырратә Академиа ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, Сергеи Багаҧшь иҭаацәа.

 

2011 шықәса март мзазы аботаникатә баҳчаҿы еиҭаҳан Аҧсны раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Арӡынба игәаларшәара иазкәу атиульпанҵла.

 

06.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла 2011 шықәса рзы ирыларҳәаз арҿиратә конкурс “Ақыҭа иацы, иахьа, уаҵәы” аихшьаалақәа ҟарҵеит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла 2011 шықәса рзы ирыларҳәаз арҿиратә конкурс “Ақыҭа иацы, иахьа, уаҵәы” аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аконкурс аҟны ицәырган агазеҭ “Аҧсны”, “Республика Абхазия”, ажурнал “Алашара” ианылаз, насгьы аҧсуа ателерадиоеилахәыра аҟны иарбаз ажурналистцәа рынҵамҭақәа.

 

Аханатә аконкурс амҩаҧгаразы еилацәажәахьан ажурналистцәа Реидгылеи ақыҭанхамҩатә министрреи. Аха идырым амзызқәа ирыхҟьаны ақыҭанхамҩатә министрра аҵыхәтәан акункурс адгылара мап ацәыркит.

 

Аусумҭақәа ахьырацәамыз иахҟьаны аӡбаҩцәа ирыӡбеит актәи аҭыҧ аӡәгьы иранарымшьарц азы. Аҩбатәи еиҩыршеит ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа Амра Аџьынџьали Аслан Кәакәасқьыри ателерепортаж “Аҧсуа ҟаза” азы, иара убас ажурналист қәыҧш Лорена Ҧаҕәааи, агазеҭ “Аҧсны” ианылаз “Сқыҭа ахәышҭаара ду” зыхьӡыз лыстатиа азы.

 

Ахҧатәи аҳамҭа иаҧсахеит агазеҭ “Аҧсны” ианылаз рыстатиақәа рзы Наира Сабекиеи Владимир Басариеи, иара убас агазеҭ “Республика Абхазия” ианылаз лусумҭа азы Русудан Барганџьиа. Аиааира згаз иранашьан агәрахарҵагақәа зцыз аҳамҭақәа. Урҭ дрыдныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Владимир Қапба, ирзеҕьаишьеит ақәҿиарақәа.

 

02.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Константин Ҧлиа далхуп Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс

 

Иахьа имҩаҧысит Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара. Уаҟа излацәажәараны иҟаз азҵаарақәа ааныжьны ииасын Аизара ахантәаҩы иалхрахь. Ицәырган хҩык ркандтдатурақәа. Урҭ Кондрат Сомсониа, Енвер Чамагәуа, Константин Ҧлиа ракәын. Имҩаҧгаз абжьыҭиирала Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс далхын Константин Ҧлиа.

 

Уаанӡа Аизара ахантәаҩыс иҟаз Амиран Какалиа ихатәгәаҧхарала имаҵура ааныжьразы арзаҳал иҩхьан. “Ари даара аҭакзыҧхықәу маҵуроуп. Сгәы иаанагоит зыгьы алҵып ҳәа, избан акәзар исыдгылоу рацәаҩуп”, - иҳәеит Константин Ҧлиа.

 

01.03.2012  Аҧсныпресс

 

 Ирыцҵоуп Д.И. Гәлиеи Г.А. Ӡиӡариеи рхьӡқәа зху аҳәынҭқарратә премиақәа

 

Ирыцҵоуп алитературеи, аҟазареи, архитектуреи, аҭҵаарадырреи рганахь ала Д.И. Гәлиеи Г.А. Ӡиӡариеи рыхьӡқәа зху аҳәынҭқарратә премиақәа. Убри азы аусҧҟа рыдыркылеит Аҧсны аминистрцәа Реилазаараҟны.

 

Адокумент инақәыршәаны апремиа 50 000 мааҭ инаӡоит. Уи ранаршьоит хышықәса рахь знык.

 

01.03.2012  Аҧсныпресс