AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҧсуа шрифт



 
 Аҧсны мап ацәнакит Кавказ аҭагылазаашьазы Женеватәи абжьгарақәа ахәбатәи рраунд алахәхара

 

Иахьа, Женева иаатуа Кавказ аҭагылазаашьазы Женеватәи абжьгарақәа ахәбатәи рраунд алахәхара Аҧсны мап ацәнакит. Абри атәы иҳәеит иахьа, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамба. Иара иажәақәа рыла, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада лаҵарамза 15 рзы иҟаиҵараны иҟаз иажәахә, иахьа уажәраанӡагьы ахабар ыҟаӡам. „Ҳара аәра аагеит, ари аицәажәарақәа ҳхы рылаҳархәразы баша иҳәаз акы шакәыз. Ҳара ҳадҵаҟаҵарақәа ҳрыцәхьаҵраны ҳаҟаӡам“, - иҳәеит Шамба.

 

„Уаанӡа, Женеватәи апроцесс ацхантәаҩцәа рҧылараан Шамба иҳәеит „Аҧсны аицәажәарақәа ахәбатәи рраунд алахәхара шахьыҧшхо ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада иажәахә ҿыц аҟны иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа шаарҧшхо“.

 

Аҧсуа ган ишьақәнарҕәҕәоит, Пан Ги Мун иажәахә ҿыц аҟны „Қырҭтәыла ахылаҧшразы ООН амиссиа“ ҳәа ахьӡымзарц ,иара убасгьы иарбамзарц „Аҧсны, Қырҭтәыла“. Шамба иажәақәа рыла „Аҧсны Қырҭтәыла иахәҭакым, иара убасгьы ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада аиҿкаара зегьы ахьӡала аҳәамҭа изыҟаҵом „Аҧсны Қырҭтәыла иахәҭакыуп ҳәа“.

 

18.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҵарадырра аҿиара ацхыраара аҭаразы Москватәи афонд Аҧснытәи ашколқәа ҳамҭас ирнаҭеит 100 компиутерк

 

Аҵарадырра аҿиара ацхыраара аҭаразы Москватәи афонд Аҧснытәи ашколқәа ҳамҭас ирнаҭеит 100 компиутерк, - ҳәа адырра ҟалҵеит аҵарадырра аминистр Индира Аҩардан.

 

„Ас еиҧш хыҧхьаӡара рацәала атехника аҧсуа школқәа ҳамҭас ироуит раҧхьаӡа акәны. Ҳара ҳақәгәыҕуеит , аҵарадырратә проектқәа ҷыдала ацхыраара рызҭо афонди ҳареи аҧхьаҟагьы ҳусеицура алыршахап ҳәа," - ҳәа азгәалҭеит Индира Аҩардан.

 

06.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Москва имҩаҧысуеит П.И.Чаиковскии ихьӡ зхыу Москватәи Аҳәынҭқарратә консерваториа аспирантка Софиа Нарманиа лконцерт

 

Лаҵарамза 8 рзы, Кисловка аконцерттә зал аҟны имҩаҧысуеит П.И.Чаиковскии ихьӡ зхыу Москватәи Аҳәынҭқарратә консерваториа аспирантка Софиа Нарманиа лсолотә концерт.

 

Абри атәы аалыцҳауеит аҧсуа диаспора ахаҭарнак, Москватәи аҧсуа школ акәратор Есма Ҳагба.

 

05.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Лаҵарамза 5 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара

 

Аилатәара иалахәыз ддырдырын Ареспублика Аҧсны Урыстәыла Афедерациа Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабыс иҟаҵоу аинрал-маиор Звирик Иурии Дмитрии-иҧа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩ ҿыц иҟаҵареи уи имаҵзура ҭыҧ ашҟа иаарласны иаареи мҩаҧысит, мшаҧымзазы аҳәынҭҳәаақәа еилахәны рыхьчаразы Аҧсни-Урыстәылеи анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. „Аинрал-маиор Звирик аиҿкааратә ҧышәа ду имоуп, ҳара агәра аагоит уи имаҵзура ҭыҧ ҿыц аҟынгьы лыҵшәалатәи иусуразы“. – азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа алацәажәеит аҳәынҭқарратә ҳәаақәа еилахәны рыхьчаразы хырхарҭа рацәала аиҿкааратә зҵаарақәа.

 

Аилатәараҿы, иара убасгьы ирзааҭгылеит ареспубликаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа, хәҭакахьала амҩа-транспорттә хҭысқәа рҭагылазаашьа. Ашәарҭадара  Ахеилак алахәлацәа иазгәарҭеит, аҧсыҭбара зцыу амҩатә машәырқәа ашәаратә ҟазшьа шаархәаз. Аҳәынҭқарра Ахада ишазгәеиҭаз ала, Амҩатә ҧҟарақәа еилазго рзы административтәи ашьауҕатәи хьырхәра арҕәҕәара мацара ала, алыҵшәа шыҟамло.

 

С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, амҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьазы амчрақәагьы ауаажәларрагьы рҭакҧхықәра шеиҟароу. Иахьынӡауала, ирҿагылалатәуп амҩатә ҧҟарақәа еилазго амашьынаныҟәцаҩцәа, еиҳаракгьы уи рызкыуп ижәны амашьына аҧсҟы зкуеи, иара убасгьы зықәра намӡац аҿар закәандарыла амашьына рызҭои.

 

Иазгәаҭан, иара убасгьы, иахьа ареспубликаҿы рхыҧхьаӡара шырацәахаз автошколақәа. Убри аан урҭ ирҳәеит урҭ иахәҭоу ахылаҧшра шрымам.

 

Иҳәаз агәаанагарақәа ҳасаб рзуны, иӡбан ҿҳәара кьаҿк иалагӡаны, ареспублика Аҧсны Апарламент алархәны, ареспубликаҿы амҩатә-транспорттә машәырқәа раҧырҟәҟәааразы аусҩаҧгатәқәа аус рыдулара.

 

05.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ҧшьымш ҵуеит Аҧснытәии Урыстәылатәии аҳәаахьшьцәа еилахәны ақырҭуа-аҧсуа ҳәаа рыхьчоижьҭеи

 

Ҧшьымш ҵуеит Аҧснытәии Урыстәылатәии аҳәаахьшьцәа еилахәны ақырҭуа-аҧсуа ҳәаа рыхьчоижьҭеи, ҳәа адырра ҟаиҵеит Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Зураб Марганиа. Аҳәаа иахьаҵанакуа аҭыҧқәа зегьы рыҟны иқәыргылоуп еилахәу аҳәаахьчаратә постқәа, арҭ амшқәа рзы ақырҭқәа рганахьала иҟоуп Аҳәынҭҳәаа аилагаразы иаанкылоу,“ – иҳәеит Марганиа.

 

05.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Галтәи аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Л.Коҕониа: Урыстәылатәи аруаа аҧсуа милициа рымҧсахӡеит

 

Галтәи аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Л.Коҕониа мап ацәикуеит, Урыстәылатәи аруаа аҧсуа милициа аусура рыҧсахызшәа Қырҭтәыла амассатә-информациатә хархәагақәа ринформациа, насгьы ақырҭуа журналистцәа рдырраҭарақәа рыла, уи аҳәаа иаҧну араион аҟны аҭагылазаашьа арҵарит.

 

„Ақырҭуа-аҧсуа ҳәаа еилахәны ахьчара, аҧсуа зинхьчаратә еиҿкаарақәа русура иарбанзаалак акала иадҳәалам. Галтәи аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәшақәа инхаҭәааны рнапынҵақәа нарыгӡоит“. – азгәеиҭеит Коҕониа.

 

Араионтә милициа аиҳабы игәаанагарала, ООН амиссиа анаҧшцәа, араион аҟны ахыбра змоу, идырҵабыргырц рылшоит араҟа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара.

 

05.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла Афедерациа мап ацәнакуеит Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәаа аҟны атехника рацәа аҭыҧ ааннакылазшәа иҟоу адырраҭарақәа

 

Урыстәыла Афедерациа Атәылахьчара аминистрра изаамҭанытәиу информациатә провокациоуп ҳәа ахнаҳәааит ақырҭуа массатә информациатә хархәагақәа иҟарҵо адырраҭарақәа, Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаа аҟны  Урыстәылатәи арратә техника рацәа аҭыҧ ааныркылазшәа.
 

Уаанӡа, ахәашаҽны ателеилахәыра „Русҭави – 2“ адырраҭара ҟанаҵеит , Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаа аҟны – Егры аӡиас ацҳа аҟны – 20 инарзынаҧшуа аибашьыгатә машьынақәа „Урал“, 14 кәалӡымашьынақәеи 300-ҩыуаак Урыстәылатәи аруааи ыҟоушәа. Ателеилахәыра ишьақәнарҕәҕәоит, ари Москвеи Аҟәеи Аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рырҕәҕәаразы Аиқәшаҳаҭра ирыбжьарҵааз иадҳәалоуп ҳәа.
 

„Ателеилахәыра иҟанаҵо адырраҭара ари информациатә провокациоуп, арегион аҟны аҭагылазаашьа аруадаҩра  хықәкыс иамоуп“, - ҳәа Урыстәылатәи Аинформациатә агентра Новости ахь адырра ҟаиҵеит Аусбарҭа аинформациатә хаҭарнак.
 

Уи адырра ҟаиҵеит, лаҵарамза 1-3, 9-11 – нӡа Урыстәыла Афедерациа Атәылахьчара аминистр иусҧҟала арҭ амшқәа рылаҳәоуп ҧсшьара мшқәаны.
 

„Аҧсшьара мшқәа рзы, аррамаҵзурауаа зегьы адҵа рыҭоуп рыҧсы ршьарц, насгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Аиааира мшы рыдырныҳәаларц“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит агентра зыҿцәажәоз.
 

„Аҧсшьара мшқәа рзы авто, акәалӡтәы техникеи амашьынаргыларҭақәеи ахыбрақәеи рҟны игылазуаауеит“, - иҳәеит атәылахьчара ахаҭарнак.
 

Урыстәыла, аҧшьашҽны, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны анапы аҵанаҩит Аҳәынҭқарратә ҳәаақәа еилахәны рыхьчаразы ҩ-ганктәи Аиқәшаҳаҭра. Арҭ ашәҟәқәа рҟны ишазгәаҭоу ала, Урыстәыла, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәаақәа рыхьчара еиқәнаршәалоит, арҭ атәылақәа рҳәаахьчаратә еиҿкаарақәа аҧҵахаанӡа. Аганқәа инаҵшьны иазгәарҭоит, арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рҟны ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа рҿагылара хықәкыс ишрымам.

 

01.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи ирыдиныҳәалеит риубилеи

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи ирыдиныҳәалеит риубилеи.
 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала атәыла ашәахтә еиҿкаарақәа риубилеи иазкыз агәырҕьаратә еилатәараҟны адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Валерии Аршба.
 

„Ҳтәылаҿ ашәахтә маҵзура аҧҵан, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы амилаҭтә шәахтә еилазаара ашьақәыргылареи аҧҵареи рҿы шәлагала акыр идууп“, - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
 

Уаҟа иазгәаҭоуп „ари аусбарҭа аусзуҩцәа еснагь рзанааҭ инарҵауланы адырреи, руалҧшьеи, рҭакҧхықәреи рыла иалукаауан ҳәа“ . Убри аан, Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла „ҳтәыла аекономикатәи аполитикатәи ҿиара аҭагылазаашьа ҿыцқәа инарыдҳәаланы, иааизакны ашәахтә системеи, уи азы азакәанҧҵареи рыҩаӡара ашьҭыхразы азҵаара ықәгылоит.
 

„Шәара иахьа ишахәҭоу еиҧш шәусура аиҿкаара иабзоуроуп, аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалатәы хәҭа ахарҭәаареи, ҳтәыла арегионқәа рырҿиареи, асоциал-економикатә проблемақәеи рыӡбара“, - ҳәа азиҧхьаӡоит Аҳәынҭқарра Ахада
 

Иара убас, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба  ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аколлектив ирыдиныҳәалеит риубилеи.
 

„Иахьа ухаҿы аагара уадаҩуп ҳтәыла аҿиара ашәахтәусзуҩцәа еснагь еилфаҷа инарыгӡо русура ада. Ашәахтә еиҿкаарақәа аҧҵоижьҭеи, урҭ афинанстә шәарҭадара азҵаара аӡбараҿи Аҧсны аекономикатә позициақәа рырҕәҕәараҿи, атәылауаа рҿаҧхьа асоциалтә хыдҵақәа рынагӡареи рҿы аҳәынҭқарра азы ишьаҟа ҕәҕәахеит“, - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
 

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыхьӡала ашәахтә еиҿкаарақәа русзуҩцәеи аветеранцәеи ирзеиҕьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, анасыҧ, аҭышәынтәалареи, аҭынчреи.
 

Аҧсны ашәахтә еиҿкаарақәа 15 шықәса рхыҵра аныҳәа иалахәын Урыстәыла афедералтә шәахтә маҵзура аделегациа.

 

01.05.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада