AҦCУAA  PЫБЖbbI
                                     -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт


 

 Евроеидгыла аполитика Аҧсны аганахьала маҷк аҽаҧсахуа иалагеит, – Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иазиҧхьаӡоит, Евроеидгыла аполитика Аҧсны аганахьала маҷк аҽаҧсахуа иалагеит – ҳәа. “Ицәырҵит аформула ҿыц “Азхаҵарада апартниорра” ҳәа, - иҳәеит ашәахьа, лаҵарамза 24 рзы имҩаҧысуаз апресс-конференциаҟны Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада.

 

Сергеи Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит,”Аҧсны иаартыу тәылоуп, иарбан зҵааразаалакгьы азы ацәажәара иазыхиоуп зегьы рыҟны. Ҳара ҳазхиоуп уаҩ дзызҿлымҳахаша аекономикатә жәалагалақәа рылацәажәара”. – иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аҳәынҭқарра Ахада агәра игоит, Аҧсны ақәҕәҕәареи, уи адунеи аҟәгареи аринахыс ишзалымшо.

 

Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара аҧхьаҟа аперспективақәа рзы ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, Багаҧшь иҳәеит:”Аҧсны ахьыҧшымра  жәларбжьаратәи азхаҵара апроцесс ласхаӡом. Аамҭа иаҳнарбоит ахҭысқәа рыҿиашьа. Иахьагьы иҟоуп атәылақәа ҳазхаҵара зҭахыу, урҭ макьаназы еиқәысыҧхьаӡом.

 

“Ҳара аӡәгьы ҳаиҳәом ҳазхарҵаразы, ҳара ибзианы еилаҳкаауеит адунеи аҟны иҟоу ауадаҩрақәа. Аха аилкаара уадаҩуп, Аҧсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, авиза анрырымҭо ЕЕ атәылақәа рахь аҽыхәшәтәразы ицо.Еилкаауп, сара Аҳәынҭқарра Ахадак, политикк иаҳасабала, Франциа алекциа аҧхьаразы авиза сыҭара мап ацәыркыр, аха зынӡаск даҽа усуп, ахәышәтәра зҭахыу ахәҷы мап аницәыркуа”, - иҳәеит Багаҧшь.

 

Багаҧшь иажәақәа рыла, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы иқәҧо атәылақәа, Аҧсны ауааҧсыра зых иақәиҭу реиҭаҵразы мап ахьырцәыркуа аилкаара уадаҩуп.

 

25.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны 149 школ рыҟны игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”

 

Иахьа Аҧсны 149 школ рыҟны игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”. Аҵара аминистрраҟны адырра злаҟарҵаз ала, а-11-тәии а-9-тәии аклассқәа рыҟны рҵара хдыркәшоит 4 282 –ҩыуаак аҵаҩцәа, актәи акласс адыркуеит – 2 454-ҩыуаак аҵаҩцәа.

 

Иахьа, аҭыҧантәи аколлеџьқәа рыҟны зҵара хзыркәшо 402-ҩыуаак рзы игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”. Аҵара аминистр Индира Аҩардан излашьақәлырҕәҕәаз ала, сынтәа абжьаратә школқәа рҵаҩцәа 16 ҩыуаак ахьтәи араӡынтәи медалқәа рзы рыҽҧыршәоит.

 

Аушьҭымҭацәа ирыдныҳәаларазы Аҧсны еиуеиҧшым араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа ирҭааит ареспублика анапхгара зегьы.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Гәдоуҭа араион Б.Ҭарба ихьӡ зхыу Бомборатәи абжьаратә школ аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит, аҵара аминистр Индира Аҩардан даҭааит Гагратәи абжьаратә школ №1.

 

25.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Багаҧшь 100-мыш аҳәынҭқарра Ахадас иҟазаара инадҳәаланы, Аҧсуа-медиа клуб “Аинари” “Ливадиитәи аклуби” еиҿыркааит астол гьежь

 

Ашәахьаҽны, лаҵарамза 24 рзы,  Сергеи Багаҧшь 100-мыш аҳәынҭқарра Ахадас иҟазаара инадҳәаланы, Аҧсуа-медиа клуб “Аинари” “Ливадиитәи аклуби” еиҿыркааит астол гьежь.

 

Ҧхынҷкәын 12, 2009 шықәса рзы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны Сергеи Багаҧшь актәи атур аҟны игеит аиааира. Жәабран 12, 2010 шықәса рзы, имҩаҧысит аҭоубашьҭаҵара ацеремониа.

 

“Раҧхьатәи 100-мыш Аҧсны аполитикатәи аекономикатәи процессқәа рыҿиара хазырҭәаауаз ахҭысқәеи аӡбарақәеи рыла иҭәын. Ари аҵак ҷыда амоуп, аибашьра ахьанҭарақәеи, аибашьра ашьҭахьтәи аблокадеи зхызгаз ареспублика ауааҧсыра рзы”, - иҳәеит амедиа-клуб “Аинар” апрезидент Зураб Аргәын. – Иахьа, иазгәеиҭеит уи, унақәыҕәҕәаны иуҳәар ауеит, Аҧсны атәылауаа аҧхьаҟатәи рҧеиҧш азы ишәаратәы ишыҟам. Урыстәыла Афедерациа иаанарҧшуа агәцаракра инамаданы, атәыла жәларбжьаратәи азхаҵареи аекономикатә ҿиареи рымҩа иануп”.

 

Аҧсны аганахьала ацәажәарақәа ирылахәын аҧыза-министр Сергеи Шамба, уи ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Беслан Кәбраа, аекономика аминистр Кристина Озган, ақыҭанхамҩа аминистр Иури Акаба уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ еиҭарҳәеит, атәыла анапхгара иазгәарҭаз аҟынтә иҟарҵахьои, иҟаҵатәны раҧхьа ишьҭои. Иара убас ирзааҭгылеит аҧхьаҟатәи апланқәа.

 

Аҧыза-министр Сергеи Шамба хәҭакахьала иҳәеит, алхрақәа рышьҭахь, аамҭа рацәа шымцацгьы, анапы шрыҵаҩу Урыстәыла Афедерациа аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, иара убас Урыстәыла Афедерациа аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, урыстәылатәи аилахәырақәеи жәпакы рыҟны аиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ иҳәаақәырҵоит акыр шықәса ҧхьаҟа аусхкқәа зегьы рыҟны атәыла аекономикатә ҧеиҧш. Ари атранспорттә инфраструктура аҿиареи, абанктә усхк аҿиареи, ақыҭанхамҩеи, атуристтә сектор аекономикеи, ихәарҭоу аҵхтәқәа рыҧшаареи рыҵхреи, арратә усхк аҟны аиқәшаҳаҭреи, аҳәаа еилахәны ахьчареи рызҵаарақәа роуп.

 

Иара убас, урыстәыла арегионқәа жәпакы рыҟны анапы рыҵаҩуп аиқәшаҳаҭрақәа.  Аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәа рыдагьы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара рыҽдырҭбаауеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русеицурагьы.

 

Урыстәыла аганахьала аиҧылара иалахәын аурыс-аҧсуа усутә хеилак ахантәаҩы Павел Пожигаило, еицырдыруа аекономист Аихаил Хазин, “Ливадиитәи аклуб” апрезидент Игор Шатров, агазеҭ “Сельская жизнь”  аредақтор хада Шамун Кагерманов, агазеҭ “Трибуна” ашеф-редактор Рафаель Гусеинов.

 

25.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Қырҭтәылеи ҭынч еиқәшаҳаҭны еицынхароуп ҳәа зҳәо атәылақәа, иахьагьы Қырҭтәыла абџьарла еиқәдыршәоит

 

Аҧсни Қырҭтәылеи ҭынч еиқәшаҳаҭны еицынхароуп ҳәа зҳәо атәылақәа, иахьа уажәраанӡагьы Қырҭтәыла абџьарла еиқәдыршәоит. Абас еиҧш ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь. Иара игәаанагарала, Қырҭтәыла агрессиатә планқәа мап рыцәнамкыцт Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ари атәыла аилазаарахь аргьежьразы. Уи азы шаҳаҭра ауеит, Багаҧшь иажәақәа рыла, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟны аҭынч еиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы аиқшаҳаҭра мап ацәкра.

 

“Аҧсны, ахааназ Қырҭтәыла аилазаараҿы иҟалом. Ҳара ари аҳәынҭқарраҟны агәлеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳақәшаҳаҭуп еиҟароу азинқәа змоу субиектқәаны. Ҳара ҳабжьара иаҳзыргылом Китаитәи аҭӡамц, убри азын иаҭахыуп ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара. Иҭышәынтәалоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара – ари аполитикцәа рнапынҵоуп, уи рҽагьазыршәалароуп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Багаҧшь.

 

Иара иажәақәа рыла “амилаҭ бааҧси ажәлар бааҧси ҟалаӡом, иҟоуп аполитикцәа хара имхәыцуа, рҳәынҭқарра аҭагылазаашьа бааҧс аҟынӡа икылызго, иахьа Қырҭтәыла ишыҟоу еиҧш”.

 

“Иахьатәи ақырҭуа напхгара, аринахысгьы имҩаҧырго рполитика анырмыҧсах, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит”, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.

 

“Ҳара баша иҳахьӡым “аҧсы зну атәыла” ҳәа. Бзиа иаҳбоит асасцәа, аҩызцәа. Ҳара иаҳтәу дгьыл ҿаҵак аӡәгьы иаҳҭом, иаҳтәымгьы ҳашьҭалом”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь.

 

24.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иагәҭакым амандаринеи амимозеи мацара зҭиуа республиканы аанхара

 

Аҧсны иагәҭакым амандаринеи амимозеи  мацара зҭиуа республиканы аанхара,- ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ажурналистцәа рзы.

 

“Амандарина ари крыфаншьҭахь иуфо шәыруп. Ҳәара аҭахыума, ҳара аекономика ҳзырҿиом, ацитруси амимозеи мацара ҳрықәгәыҕны”, - иҳәеит уи.

 

Багаҧшь аҳәамҭа ҟаиҵеит, акәрортқәа ареспублика абиуџьеттә лагалақәа ирышьаҭа хаданы иҟалароуп ҳәа. Уи иазгәеиҭеит, есышықәса Аҧсныҟа иаауа атуристцәа рхыҧхьаӡара ишацло. Иара иажәақәа рыла, 2009 шықәса рзы ареспубликаҿы иҟазҭгьы 1 миллионҩыуаак, 2010 шықәса рзы 15% рыла еиҳаны ҳарзыҧшуп.

 

Аҵак ҷыда аиҭоит аҳәынҭқарра Ахада абизнес маҷи абжьаратәии рыҿиара ацхыраара аҭара. Уи иара убас иазгәеиҭеит. “аҭагылазаашьа шыҟалаз аграртә сектор аинвестициақәа ралагаларазы, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ареспублика анҭыҵынтә иаамгакәа, аҭыҧан раарыхразы”.

 

Амакроекономикатә проектқәа дрылацәажәо, Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, “аус адулараҿы ишыҟоу автомашынатәи аихамҩатәи мҩақәеи, амшынтәи, аҳаиртәи еимадарақәеи, афымцамчи рпроектқәа. “Ҳара акагь ҳзыҟаҵом афымчамчы шьақәыргыламкәа, уи аҵакы ҕәҕәа амоуп аекономика мацара аҿы адагьы, атәыла аполитикатә шәарҭадараҿгьы”, - иҳәеит Багаҧшь.

 

Уи адырра ҟаиҵеит, урыстәылатәи анапхгара адгылара шарҭаз амшын аҵаҟала агазмҩангага аиагаразы, иара игәаанагарала, афымцахарџьқәеи аекологиеи рыхьчара иацхраауеит.

 

Аҧсни “Роснефти” рыбжьара анапы зҵаҩу Аиқәшаҳаҭра дазааҭгыло, Багаҧшь иҳәеит, ибзианы ишеиликаауа, аекологиа аганахьала агәҭынчымра аазырҧшуа ауаа, уи азын ҿырҧшысгьы иаазго Мексикатәи аӡыбжьахалатәи амашәыр

 

“Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара, саргьы раҧхьа снаргыланы аҟьашьра аӡәгьы иҭахӡам. Аха еилкаатәуп, иахьа Амшын Еиқәа аҟны анефт аус адулара ишаҿу Амшын Еиқәа иаҧну атәылақәа зегьы, ҳара ҳада. Қырҭтәыла, Ҭырқәтәыла, Болгариа, Украина. Урыстәыла,Тҟәаҧс ишьақәнаргылоит ажыгатә шьақәгылазаашьақәа”, - иҳәеит уи.

 

“Ҳара ҳаиқәшаҳаҭхар,Амшын Еиқәа аҟны, амшынаҵаҟатәи анефт аус адулара иаҧсам ҳәа, сара уи садгылаҩуп. Аха иааҳакәыршаны иҟоу зегьы аусура мҩаҧыргозар, ҳара аганахь ҳзаанхом”. – иҳәеит Багаҧшь. Уи иазгәеиҭеит, асовет аамҭазтәи адырранҵарақәа рыла, анефт иреиҳау ахәҭа араҟа ишыҟоу.

 

Уи агәра диргеит, анефт аус адулара шымҩаҧгахо ареион аҟны аҭагылазаашьа ҳасаб азуни, жәларбжьаратәи аекологиатә нормақәа ирықәыршәани.

 

24.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәынҭқарра Ахада: Иҳаҩсыз 100-мыш – ари хә-шықәса раахыс имҩаҧаҳгоз аусура ацҵароуп

 

“Иҳаҩсыз 100-мыш – ари хә-шықәса раахыс имҩаҧаҳгоз аусура ацҵароуп,”- иҳәеит иахьа аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь аҧсуа медиа-аклуб “Аинари” Урыстәылатәи иҳәынҭқарратә аиҿкаара “Ливадиитәи аклуби” еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҟны.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, жәабран 12 рзы ишымҩаҧысыз ҿыц еиҭа Аҳәынҭқарра Ахадас иалхыз Сергеи Багаҧшь иҭоубашьҭаҵара.

 

Багаҧшь иазгәеиҭеит, раҧхьатәи хә-шықәсатәи аҿҳәараан, ареспублика анархгара рҿаҧхьа ишықәгылаз ихьанҭаз ауснагӡатәқәа, ахьыҧшымра азҵаара, Кәдыры аиҩхааҿы ақырҭуа архәҭақәа рқәыларақәа, Гал араион аҟны аҭыҧ змаз ауадаҩрақәа уҳәа убас ирацәаны.

 

“Иахьа амшхәаҧштә аҟны зынӡаск даҽа зҵаароуп иқәгылоу. Аибашьреи аҭынч аамҭеи рыбжьара ҳаныҟаз, арратә зҵаарақәа рыӡбареи, аҳәаа ахьчареи, ҵыхәаҧҵәа змамыз Қырҭтәылеи ҳареиҳаиҿыхарақәеи урҭ зегьы раамҭа иахьа ицеит”, - иазгәеиҭеит уи.

 

Багаҧшь ареспублика анапхгара рҿаҧхьа иуснагӡатә хаданы иқәгылоу ҳәа иазиҧхьаӡо ируакыуп “атәыла аибашьра ашәара аамҭа аҟынтә аҭынч ҧсҭазаарахь аиагароуп”.

 

“Ари имариоу процессым, ҳара амҩақәеи ашколқәеи, ахәышәтәырҭақәеи ҳаргылоит, ҳақалақьқәа ҳаршәҭыкакаҷуеит”. Уи анхара-бзазаратә ган ауп. Зегь реиҳа иуадаҩуп – ауаҩ ихдырра аиҭакра. Ауаа еилыркаароуп, аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишраамҭоу”, - иҳәеит Багаҧшь.

 

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла Афедерациа анапхгара аекономикатә санкциа ахьаҧырхыз, Аҧсны ахьыҧшымра ахьазхарҵаз, хра злоу аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы анапы ахьрыҵаҩу, урҭ рхыҧхьаӡараҟны ареспублика асоциал-економикатә цхыраара азыҟаҵара.

 

Сергеи Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, Аҧсны ишыҟоу урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа, урҭ аҧснытәи аҳәаахьчаҩцәеи дареи еицырыхьчоит Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа.

 

Атәыла аҭышәынтәалара, Багаҧшь иажәақәа рыла, ареспублика зда ихәарҭам аинвестициақәа ралагалараҿы ицхыраагӡоуп.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, зегь реиҳа ихадоу – ари “аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчароуп, уи зегь раҧхьа иргыланы, ауаа ҭынч инхаратәы анырра бзиа ҟанаҵоит”.

 

Урыстәылатәи архәҭақәа Аҧсны рыҟазаара арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәыршәараҿы аҵак ҷыда амоуп, уи анаҩсгьы, ареспублика економикала аҿиараҿгьы”, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

24.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҟны иаартуп Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа

 

Аҟәа, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҟны иаартуп Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Лаҵарамза 12 рзы, Баграт Шьынқәба ихыҵуазаарын 93 шықәса.

 

Абаҟа аартра ацеремониа иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, аҧыза-министр Сергеи Шамба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, апоет ихшара, имаҭацәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа. Урҭ ашәҭқәа шьҭарҵеит апоет ибаҟа амҵан.

 

Абаҟа аадыртит Аҧсны Ашәҟәҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Терент Ҷаниеи Аҧсны жәлар рпоет мушьни Лашәриеи, уи ашьҭахь Аҟәатәи-Аҧсуа Епархиа ахада аиереи Виссарион Аҧлиа уи иҧшьеит.

 

Агранит шьаҭа (апостамент) иқәыргылоу абронза иалхыу аскульптура аура 3 метрак рҟынӡа инаӡоит. Уи авторс дамоуп аскульптор – Цира Ахба, уи аус лыцыруан архитекторцәа Беслан Касланӡиеи Светлана Шаминковаи.

 

Аатра ацеремониаҟны иқәгылеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, акәльтура аминистр Нугзар Логәуа, апоетцәа Терент Ҷаниа Мушьни Лашәриа, Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ирыҧхьеит.

 

“Аҧсны дыҟамзар ҟалап, Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа ирмыҧхьац, иажәеинраалақәа руак иадамхаргьы ҿырҳәала иззымдыруа”, – иҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба.

 

“Баграт Шьынқәба ихьӡ наунагӡа ҳажәлар рҭоурых аҟны иаанхоит. Иара икалам иҵыҵит арҿиамҭа шьахәқәа, урҭ рыбжьара “Ацынҵәарах”. Уи жәлар бзиа еицырбоз поетын, Баграт Шьынқәба ҧсра иқәӡам”, - иазгәеиҭеит акәльтура аминистр Нугзар Логәуа.

 

Баграт Шьынқәба иҧсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы, 88 шықәса дшырҭагылаз. Уи Д.Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, “Ахьӡ-аҧша” аорден актәи аҩаӡара ианашьан.

 

19.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Москва иаартуп Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа

 

Москва иаартуп Урыстәыла Афедерациаҿ иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа. Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа иалахәын Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиа, Урыстәыла Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Андреи Нестеренко, Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра СНГ атәылақәа рдепартамент адиреқтор Алеқсандр Келин, иара убас Аҳәынҭдума адепутатцәа.

 

“Ацҳаражәҳәарҭа аартра иацхраауеит ҳаимадарақәа рырҕәҕәареи, иара убас жәларбжьаратәи аренаҟны ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа еиханаҳауеит”, - иазгәеиҭеит А.Нестеренко.

 

2009 шықәса рзы Урыстәыла Афедерациа аиҳабыра рхантәаҩы Владимир Путин Ақәҵара инапы аҵаиҩит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟны аартразы.

 

Урыстәыла Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азханаҵеит 2008 шыкәса, нанҳәа 26 рзы, цәыббра 9 рзы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәа.

 

18.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа анапы аҵаҩуп Ареспубликақәа Аҧсни Ҟабарда-Балкариеи рпарламентқәа рыбжьара аусеицуразы Амеморандум

 

Аҟәа анапы аҵаҩуп Ареспубликақәа Аҧсни Ҟабарда-Балкариеи рпарламентқәа рыбжьара аусеицуразы Амеморандум. Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәбеи Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика апарламент ахантәаҩы Ануар Чеченови.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, лаҵарамза 12 рзы Аҧсны усуҩтә визитла ишааз Ҟабарда-Балкариатәи апарламент аделегациа. Уи хадара азиуан  апарламент ахантәаҩы Ануар Чеченов. Аделегациа аилазаараҟны  - Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика апарламенттә еилазаара анапхгаҩы Владимир Битоков, аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы Ҟабарда-Балкариатәи апарламенттә еилакы ахантәаҩы Виктор Несутулов, аекономикатә политикеи, ахатәреи, аусдкылареи рзы аилак алахәыла Иурии  Афасижев, Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика ақыҭанхамҩеи афатә-ажәтә аалыҵқәеи рминистр Тембулат Еркенов, Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика апарламент анапаҵаҟа иҟоу Аҿартә палата ахантәаҩы Аслан Шапишев.

 

“2008 шықәса, цәыббра 17 рзы Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара анапы зҵаҩыз аусеицуреи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра инамаданы, аиқәшаҳаҭра –зинтә ашьаҭала Урыстәыла Афедерациеи Аҧсни рыбжьара аполитикатәи агәманитартәи усхкқәа рыҟны аҧхьаҟа еиҟароу аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы, азакәанҧҵаратә мчра аусбарҭақәа рыбжьара ишиашоу аимадарақәа рышьақәыргылара аҵак ҷыда азгәаҭаны, аганқәа агәаҳәара аадырҧшит “апарламентбжьаратә еимадарақәа рыҿиареи рырҕәҕәареи рзы еиҟароу азинқәа рпринцип ала.”

 

Амеморандум инақәыршәаны аганқәа аҩ-парламентк русуразы лассы-лассы аинформациа еиҭнырыҧсахлалоит. Ареспублмка Аҧсни Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликеи рпарламентқәа рдепутатцәа “азинтә база аҧҵараҿы рҧышәа еимырдалоит, имҩаҧыргалоит аиҧыларақәа,аиҿцәажәарақәа, абжьгарақәа” уҳәа убас егьырҭгьы. Аҧсни Ҟабарда Балкариеи рпарламентқәа иара убас адгылара арҭоит акәльтуратә еимадарақәа рымҽхак арҭбаара.

 

17.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшьи Николаи Кошмани алацәажәеит Урыстәыла аргылаҩцәа Рассоциациа Аҧсны аусура аҭагылазаашьақәа

 

Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь идикылеит Урыстәыла аргылаҩцәа Рассоциациа аделегациа. Уи хадара азиуан Ассоциациа Апрезидент Николаи Кошман. Аҧсны аганахьала аиҧылара иалахәын аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, аҧыза-министр Сергеи Шамба, аҧыза-министр, афинансқәа рминистр Беслан Кәбраа, аекономика аминистр Кристина Озган.

 

Аиҧылараҟны ирылацәажәеит Аҧсни Урыстәыла аргылаҩцәа Рассоциациеи мҽхакыҭбаалатәи русеицура аҭагылазаашьақәа. Хәҭакахьала ирыхаҧшын Аҧсны иаҧҵои иара убас зыргылара иаҿу обиектқәа ркапиталтә ргылареи, афымцамчы маҷ аобиект аргылареи, аргылара маҭәахәқәа рҭыжьреи рзы уҳәа аргылара нџьныртә инфраструктура аиҿкаара аперспективақәа.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Аҧсны аиҳабыра шазыхиоу ирыдгалоу апроектқәа раларҵәара аҭагылазаашьа ахәаҧшра, ареспублика аҭахрақәа ҳасаб рзуны.

 

17.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Лаҵарамза 14 рзы Аҧсуа гәманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны имҩаҧысуеит В.Арӡынба диижьҭеи 65 ш.аҵра иазкыу раҧхьатәи аҵарадырратә коференциа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада, аҭоурыхтә ҵарадыррақәа рдоктор, Аҧсны Аҵарадыррақәа Ракадемиа академик Владислав Арӡынба диижьҭеи 65 шықәса аҵра иазкыу раҧхьатәи аҵарадырратә конференциа мҩаҧысуеит лаҵарамза 14 рзы, Д.Гәлиа ихьӡ зхыу Аҧсуа гәманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны. Аконференциа мҩаҧысуеит лаҵарамза 15-нӡа.

 

Лаҵарамза 14  - Владислав Арӡынба иирамшаз иазгәаҭоуп агәаларшәаратә усмҩаҧгатәқәа жәпакы, урҭ хацыркхоит Аҟәа Ахьӡ-Аҧша Амемориали В.Арӡыба анышә дахьамадоуи рыҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониала

 

Аконференциа аусура иалагоит 12.00 рзы. Иара убас, уаҟа ицәыргахоит ашәҟәы “Ҳара ҳ-Владислав”.

 

Афорум ааиртуеит Аҧсуа гәманитартә ҭҵаарақәа ринститут адиреқтор Уасил Аҩыӡба. Аконференциа алахәцәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәоит Аҧсны Аҧыза-министр Сергеи Шамбеи Урыстәыла Аҵарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут Кавкази, Азиа Хадеи, Урало-Поволжиеи рыҭҵаара Ацентр анапхгаҩы Аликбер Аликберови.

 

Урыстәылатәи Аҵарадыррақәа Ракадемиа Мрагылара Аинститут ҳаамҭазтәи Мрагылара азеиҧш проблемақәа рыҭҵаара Ацентр аҵарадырра аусзуҩ хада Анатолии Виаткин аконференциаҟны дықәгылоит “Аҭоурыхтә процесс аҟны ахаҭара ароль: афеномен Владислав Арӡынба” ажәахә ала.

 

Афилологиатә ҵарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҵарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент Виачеслав Чырыкба иажәахә азкыуп Мрагылараҭҵаараҿы В.Г. Арӡынба илагала.

 

“СССР жәлар рдепутат В.Г.Арӡынба амилаҭ маҷқәа рзинқәа рыхьчараҿы инаигӡоз ароль”, - афилологиатә ҵарадыррақәа ркандидат Владимир Занҭариа иажәахә атема.

 

“В.Г.Арӡынба иусумҭақәа рыҟны Нарҭаа репос атәы” еиҭеиҳәоит афилологиатә ҵарадыррақәа ркандидат Зураб Џьапуа. “Аетнодемографиатә аспектқәак ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы”, - аҭоурыхтә ҵарадыррақәа рдоктор Ҭеимураз Ачыгәба иажәахә атема.

 

Лаҵарамза 15 рзы ажәахәқәа рыла иқәгылоит УАР Мрагылараҭҵаара Аинститут Кавкази, Азиа Хадеи, Урало-Поволжиеи рыҭҵаара Ацентр анапхгаҩы Аликбер Аликберов, иара убри Ацентр аҵарадырра аусзуҩ Александр Скаков; УАР Мрагылараҭҵаара Аинститут Мрагылара аҭоурых Аҟәша аҵарадырра аусзуҩ хада Алеқсандр Кадырбаев; УАР Мрагылараҭҵаара Евразиаҟны атранспортҭҵаара Ацентр анапхгаҩы Игор Авдаков; УАР Мрагылараҭҵаара Аинститут Мрагылара аҭоурых Аҟәша аҵарадырра аусзуҩцәа Виктор Лебединскии Иулиа Пронинеи, УАР Мрагылараҭҵаара Аинститут Мрагылара аунивирситет аҧшьбатәи акәрс астудентка Елана Ешба.

 

Лаҵарамза 14 рзы Аконференциа алахәцәа идикылоит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь.

 

В.Арӡынба имширазы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаатуеит афотоцәыргақәҵа, игәалашәара иазкны. Ахәлҧаз Ахақәиҭра Ашҭаҟны аҿартә еиҿкаарақәа имҩаҧыргоит Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада игәалашәаразы акциа.

 

14.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҧсуа аган ахаҭарнакцәа рыҟны имҩаҧыргеит абжьгарақәа

 

Аҧсны иааит Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Пиер Морель (Евроеидгыла), Анти Трунен (ЕАР), Булат Нургалиев (ОБСЕ). Ахәлҧаз, лаҵарамза 12 рзы, урҭ абжьгарақәа мҩаҧыргеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиеи аиҿцәажәарақәа рыҟны Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак ҷыда Виачеслав Чырыкбеи рыҟны.

 

“Аҧсны азыхиоуп рашәарамза 8 рзы иазгәаҭоу, Кавказ ашәарҭадаразы ацәажәарақәа 11 – рраунд алахәхара”, - иҳәеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиа. Иара иажәақәа рыла, имҩаҧысит заанаҵтәи абжьгарақәа ацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рыҟны, уаҟа ирылацәажәан Женеватәи апроцесс иадҳәалоу азҵаарақәа.

 

“Ҳара  ирыдыркыло адокәментқәа рзы ҳазгәаҭақәеи ҳажәалагалақәеи ҳҳәеит, хәҭакахьала атерминологиеи егьырҭ азҵаарақәеи рзы”, - иҳәеит Ҕәнџьиа.

 

Адәныҟатәи Аусқәа рхада адырра злаҟаиҵаз ала, Аҧсны аделегациа хадара азиуеит, уаанӡеиҧш, аиҿцәажәарақәа рыҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак ҷыда Виачеслав Чырыкба. Аиҿцәажәарақәа рыҟны аусурақәа мҩаҧысуеит ҩ-гәыҧкны – ашәарҭадареи агәманитартә зҵаарақәеи рзы.

 

13.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Стамбул имҩаҧысуаз аҭҵааратә проектқәа Жәларбжьаратәи XIХ рцәыргақәҵахь инаган афизиказы Аҧсука школхәыҷқәа русумҭақәа ҩба

 

Стамбул лаҵарамза 3 инаркны 13-нӡа имҩаҧысуаз аҭҵааратә проектқәа Жәларбжьаратәи XIХ рцәыргақәҵахь инаган афизиказы Аҧсука школхәыҷқәа русумҭақәа ҩба. Аҵара аминистр Индира Аҩардан, Ҭырқәтәылаҟа ашколхәыҷқәа мҩаҧызгоз адырра злаҟалҵаз ала, Аҧсны ас еиҧш ацәыргақәҵақәа ирылахәхахьеит хынтә.

 

Гәдоуҭа араион Бомборатәи абжьаратә школ  11-тәи апкласс аҵаҩы Мадина Гергиа илҩит “Алазертә шәахәа аӡшьар алсшьа аҭҵаара” ҳәа захьӡыз аусумҭа, Аҟәатәи а-10 –тәи ашкол аҵаҩы Нина Наҷџьебиа “Амшын Еиқәа аҟны аҧхаратә режим аҧсахрақәа” атемала аҭҵааратә усумҭа налгеит.

 

Аицлабра иалахәыз иранаршьеит асертификатқәеи, аҧхьахәқәеи.

 

“Стамбули Адаҧазари ҳара ҳарҧылеит иара убас аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Аиҧылара иалахәыз азҽлымҳан Аҧсны аҵара аҭагылазаашьеиҧш, иааизакны атәыла-асоциал –економикатә ҿиара”, - лҳәеит аминистр. Индира Аҩардан ҭабуп ҳәа ахылҳәааит,Стамбул иҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнак Билент Аҩыӡба иҟаиҵаз ацхырааразы.

 

12.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Роман Мышәба далхыуп Ареспублика Аҧсны Иреиҳау аӡбарҭа ахантәаҩыс

 

Ареспублика Аҧсны Иреиҳау аӡбарҭа ахантәаҩыс апарламент далнахит Роман Мышәба.
 

Аконституциа инақәыршәаны,  аҳәынҭқарра Ахада иажәалагалала, апарламент аӡбаҩцәа зегьы алнахуеит, хә-шықәса ҿҳәарас иаҭаны.
 

Апарламент апресс-маҵзура излашьақәнарҕәҕәаз ала, адепуттцәа иаартны, еиқәшаҳаҭны Роман Мышәба икандидатуразы рыбжьқәа рҭиит. Уи дыдирдырит аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Адлеиба. Уи иазгәеиҭеит, Р.Мышәба 25 шықәса аус шиухьоу аиуриспруденциа аусхк аҟны. Иреиҳау аӡбарҭа ахантәаҩыс далххаанӡа, Мышәба напхгара азиуан Ареспублика Аҧсны Арратә ӡбарҭа.
 

Роман Мышәба аҳәамҭа ҟаиҵеит, аҳәынҭқарра Ахадеи апарламенти агәрагара ду изыҟарҵаз иҽшаҧсеитәуа, идырреи, имчи, иҧышәеи зегь шазикуа инапынҵатә уалҧшьақәа рынагӡара.
 

Роман Чачка-иҧа Мышәба диит 1957 шықәса рзы, Гәдоуҭа ақалақь аҟны. 1984 шықәса рзы далгеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҭоурых-иуристтә факультет “Азинҭҵаара” азаанаҭ ала.
 

Мышәба 17 шықәса ҧсахрада аус иуан Арратә трибунал ахантәаҩыс, Ареспублика  аҧсны Арратә ӡбарҭа ҳәа ихьшәаны иҧсахыз.
 

Мышәба ихҵоуп аӡбаҩ актәи иквалификациатә класс.
 

Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.

 

11.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспубликақәа Аҧсни Чечентәылеи рыбжьара анапы рыҵаҩуп Агәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа

 

Лаҵарамза 8 рзы Грозни имҩаҧысит Аҧсны Аҧыза-министр Сергеи Шамбеи Чечентәыла Ареспублика Аиҳабыра рхантәаҩы Одес Баисултанови рыбжьара агәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа анапаҵаҩра.
 

Агәҭакқәа рзы аҧкаанҵа анапы аҵаҩуп ахәҳахәҭра-економикатәи ақыҭанхамҩатәи усхкқәа рыҟны ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаарази, иара убас акәльтуреи, аҵареи, аҵарадырра-техникатәи усхкқәеи, аспорти атуризми рыҿиараҟны аимадарақәа рыбжьаҵаразы.
 

Ашәҟәы аҟны иарбоуп “Ареспубликақәа Аҧсни Чечентәылеи иарбоу аусхкқәа рыҟны ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаареи арҿиареи рыҟны анырра ҟарҵалоит агәреибагареи, наҟ-ааҟ еицыфеидои, апартниорреи рышьаҭала”.
 

Одес Баисултанов иажәақәа рыла, ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацхыраара ҟанаҵалоит Чечентәылеи Аҧсни рыбжьара акыр зхыҵуа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара”.
 

“Аҧсни Чечентәылеи знысыз мҩакоуп. Аибашьра иархәашеит аҩ-республикак рынхашәа-нҵыратә усхкқәа зегьы. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, еилархашоу ареспублика ашьҭыхра шаҟа уадаҩра ацу. Аҳәынҭқарра Ахада Рамзан Кадыров ибзоураны, ачачен жәлар ауадаҩрақәа ириааины,аамҭа кьаҿк иалагӡаны аиҭашьақәыргылара апрограмма аҟынтә ҳаиасит иҭышәынтәалоу аҿиарахьы”, - иҳәеит уи.
 

Чечентәыла ареспублика Аҧыза-министр, убри аан иациҵеит, Чечентәыла шазхиоу Аҧсны ганрацәалатәи ацхыраара аҭара.
 

Сергеи Шамба иара убас иазгәеиҭеит, араҟа ишумбо аибашьра ашьҭақәа, Чентәыла Ареспубликаҿы ишибаз ақалақьқәеи ақыҭақәеи реиҭаҿиара.
 

“Ҷыдала исгәаҧхеит Чечентәыла аҳҭны-қалақь, ареспублика анапхгара иаладырҵәо апроектқәа ирыбзоураны, араҟа имҩаҧысуеит мҽхакы ҭбаалатәи аргыларақәа”.
 

Ареспублика амчрақәа рықәҿиарақәа ртәы дазааҭгыло, Аҧсны Аҧыза-министр иазгәеиҭеит, “Ари аҿырҧшы иунарбоит, алидер ҟәыҕа, ҿҳәара кьаҿк иалагӡаны  шьаҭанкыла аҭагылазаашьа ҧсахны алыҵшәа шьахәқәа иоурц шалшо”.

 

11.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа рзы, Аиааира Ду 65 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы аветеранцәа рзы аныҳәатә дкылара мҩаҧнагеит

 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа,лаҵарамза 10 рзы, Аиааира Ду 65 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рзы аныҳәатә дкылара мҩаҧнагеит. Аресторан “Ерцахә” ашҟа имҩахыҵит ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рыҟнытә аветеранцәа.
 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев аветеранцәа зегьы ирыдиныҳәалеит Аиааира Ду аиубилеи, ирзеиҕьеишьеит аҭынчреи, агәабзиареи, ашықәсынҵыра дуи. Агәырҕьара иалахәыз зегьы, Аиааиразы, ршьапы иқәгыланы аҵәцақәа шьҭырхит.
 

Автеранцәа ҭабуп ҳәа ахырҳәааит ирзыҟарҵо агцаракрази, иара убас аиааира зхы ақәызҵаз ргәалашәара ахьыдмырӡуази.

 

10.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С. Багаҧшь аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы Москваҟа дцоит

 

Асабшаҽны, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, Аџьынџтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира агара 65 шықәса ахыҵра иазкыу аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы Москваҟа дцоит.
 

Аныҳәа алахәхаразы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Ааҧхьара ааишьҭит Урыстәыла Апрезидент Дмитрии Медведев.
 

Абри атәы ааицҳауеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак К.Бжьаниа.

 

07.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаатит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 65 шықәшса ахыҵра иазкыу афотоцәыргақәҵа

 

Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаатит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 65 шықәшса ахыҵра иазкыу афотоцәыргақәҵа.
 

Уи еиҿыркааит акәльтура аминистрреи афотоагентра АРТФ-и.
 

Ацәыргақәҵахьы инагоуп афотосахьаҭыхыҩ Владимир Попов иҭыхымҭақәеи, иара убас аибашьра аветеранцәа рхатәы архивқәа рыҟнытә афотосахьақәеи.
 

“Ари ацәыргақәҵа азыкуп ҳабуцәеи урҭ рабацәеи 1941-45 шықәсқәа рзы иаадырҧшыз афырхаҵареи агәымшәареи”, - лҳәеит ацәыргақәҵа аартуа, Ацәыргақәҵатә зал адиреқтор Ельвира Арсалиа.
 

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын Аҧснынтә 55 нызқәҩыуаак, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩыуаак аибашьра адәы аҟнынтә изыхнымҳәит. 22 ҩыуаак ирыхҵоуп “Асовет Еидгыла Афырхаҵа” ҳәа ахьыӡқәа.
 

Ацәыргақәҵа аартра иалахәын Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаа Леонид Лакербаиеи Даур Ҭарбеи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, апарламент адепутатцәа.
 

“Ҳара дук ҵуам даҽа еибашьрак ҳхаҳгеижьҭеи, уи рхьысит Аҧсны иқәынхоз зегьы. Аха уи 1941-45 шш. рызтәи Аџьынџтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу ахьаа акала ихнамҽит”, - иҳәеит Леонид Лакербаиа.
 

Аҧыза-министр игәалаиршәеит, аибашьра ашьҭахь, раҧхьатәи ашықәс азы аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа шидикылаз.
 

“Сара иара убас исгәалашәоит 1995 шықәса, ҳветранцәа Москва аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы ааҧхьара змаз, хымш аҳәааҟны ишыҧшыз, уи иагьшзахымсыз. Аамҭа, насыҧны, акыр аҽаҧсахит. Иахьа ҳветеранцәа ҳаҭырла ааҧхьара рырҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира аныҳәа азгәаҭаразы Москваҟа Санкт-Петербургҟа”, - иазгәеиҭеит Лакербаиа.
 

Уи аветеранцәа ирзеиҕьеишьеит агәабзиареи, анҵыра дуи.
 

“Ас еиҧш аусмҩаҧгатәқәа разгәаҭара Аҧсны традициа бзиахеит. Уажәтәи ари  - иҧшьоу рыцхәуп, сара ҭауп ҳәа расҳәоит Аҧсны анапхгара аветеранцәа рахь иаадырҧшуа агәцаракразы,иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟақәа ахьеиҭашьақәдыргылоази”, - иҳәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ С.Григориев.
 

Ацәыргақәҵа аартхоит 10 мыш.

 

07.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 1941-45шш. рзы Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рыҟны зыҧсҭазаара иалҵыз ахәцәа рыхьӡала ишьақәыргылоуп абаҟа

 

Иахьа Гәылрыҧшь араион аҟны иаартын1941-45шш. рзы Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рыҟны зыҧсҭазаара иалҵыз ахәцәа рыхьӡала еиҭашьақәыргылаз .абаҟа.
 

Аартра ацеремониа иалахәын 1941-45 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Станичкин, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Аҧсны атәылахьчара аминистрреи Аҧсны иҟоу Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәеи.
 

Ареспублика аиҳабыреи аҭыҧантәи амчрақәа рыцхыраарала аиашьаратә ҳаҭгәын аҟны ишьақәыргылоуп амемориал. Амармалташь иаласоуп Асовет ар еиуеиҧшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа 429 ҩыуаак аибашьцәа рыхьӡқәа.
 

Ари аҳаҭгәын аҟны анышә иамадоуп аибашьцәа Москвантә, Алтаиски Красндари атәылаҿацәақәа рыҟнынытә, Даҕьысҭанынтә, Растовтәи аобласт аҟынтә, Иакәтскынтә, Азербеџьанынтә, Ермантәылантә, Қырҭтәылантә, Узбекистанынтә, Украинантә,иара убас ҧасатәи Асовет Еидгыла еиуеиҧшым акәакьқәа рыҟнынтә.
 

“Мышқәак роуп иаанхаз Аиааира 65 шықәса ахыҵра арыцхәынӡа. Ари арыцхә ҳара ҳзеиҧш ныҳәоуп”, - иҳәеит амемориал аартраҟны Аҧсны аҧыза-аминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Страничкин.
 

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны алагала шдуу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира агараҟны. 55 нызқьҩыуаак инарзынаҧшуа афронтахь ицеит,17,5 нызқьҩыуаак аибашьра адәаҟынтә изыхнымҳәит. 22 ҩыуаак ирыхҵоуп Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьыӡқәа.
 

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ,иара убас иазгәеиҭеит атыл аҟны аџьабаа збоз рлагала ду. Аибашьра  раҧхьатәи амшқәа инадыркны, Аҧсны иҭрыжьуан, аџьаҧҳани аибашьыгақәеи рыхкқәак. Аҧсны аусуцәа атәылахьчара афод иаларгалон аҧара, иалахәын акәалӡтәы колоннеи аторпедатә шхақәа рдивизион “Комсомолец Абхазии” рыргыларазы ахархәагақәа реизгара.
 

Страничкин ишьақәирҕәҕәеит, Аҧсны атерриториаҟны ишаартыз хыҧхьаӡара рацәала аибашьцәа ахәцәа рзы ахәышәтәырҭақәа.
 

Аҟәа мацара 1941-45 шш. рзы 16 инареиҳаны иҟан, уаҟа ахәышәтәрақәа ирхысит 80 нызқьҩыуаак аибашьцәа. Акымкәа ахышәтәырҭақәа ыҟан иара убас Агәӡера аҳаблаҟынгьы.

 

“Аҳақьымцәа акыр ишазаҳаҵҳаҵозгьы, ахәцәа зегьы еиқәхомызт. Урҭ анышә иамардон аиашьаратә нышәынҭрақәа рыҟны. Урҭ руак аҟны ҳаҟоуп иахьа ҳара,” – иҳәеит уи. Асовет аамҭазы, ари аҭыҧ аҟны иргылан идумыз амемориалтә комплекс, аха уи еилаҳахьан.
 

Амемориал аиҭашьақәыргылара азҵаара шьҭыхын, апарламент адепутат, Гәылрыҧшь араион аурыс  еилазаара ахантәаҩы Виктор Василиев иаҧшьгарала. Ари азҵаара иадгылеит атәыла анапхгарагьы. Ишьақәыргылан аибашьцәа рсиақәа. Арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган ҿҳәара кьаҿқәак ирылагӡаны.
 

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ ҭабуп ҳәа реиҳәеит, амемориал аиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы, урҭ рхыҧхьаӡараҟны Гәылрыҧшь араион аргыларатә еиҿкаара аиҳабы Адгәыр Аӡынбеиараион Ахада Михаил Логәуеи.
 

“Аҧсны жәлар Аиааира амш азгәарҭоит шықәсык ахь ҩынтә: лаҵарамза – 9, цәыббра – 30 рзы. Иазгәасҭарц сҭахыуп, иџьашьахәу аамҭақәа реимадара, ҩ-епохак еидызкыло Адамыр Шармаҭ  ҿырҧшыс дааганы”, - иҳәеит Страничкин. Уи иазгәеиҭеит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ианрылагоз, ишеикаахаз Адамыр иабду, - аибашьра иалахәыз Қьаазым Қецба, - анышә абри аҭыҧ аҟны дшамадаз. “Амаҭа иабду иеҧш, Иџьынџь ихьчон, ҳаамҭазы. Еиҭашьақәыргылоу абаҟа – уи иусра иалыҵшәоуп”,- иазгәеиҭеит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ.
 

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ иҳәеит, еиҭашьақәыргылоу амемориал аартра ишалахәу анышә иамадоу аибашьцәа рхылҵшьҭрақәа. Амармалташь аҟны иануп аҧсуаа аибашьцәа рыхьыӡқәагьы:Иури Гоҧиа, Қьаазым Қецба, Абдулла Ақаҩба. Убри аан Страничкин инаҵшьны иазгәеиҭеит, А.Ақаҩба – имаҭа Герман Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны дышҭахаз.
 

“Хьӡи-ҧшеи наунагӡа ирыгымхааит зыҧсы ҭоугьы, иахьа иҳалагыламгьы Аџьынџь ахьчаҩцәа. Шәадныҳәалаз аныҳәа, ишәзеиҕьашьаз агәабзиара, анасыҧ, аҭынч жәҩан”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра рхаҭарнак.
 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ С.Григориев Аҧсны анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ареспубликаҟны Аџьынџьтәыла аибашра Ду абаҟақәа реиҭашьпқәыргыларазы.
 

“С.Григориев инаҵшьны иазгәеиҭеит, арҭ амшқәа рзы Аҧсны ахьынӡа-наӡааӡо, ареспублика анапхгара рыцхыраарала 60 инарзынаҧшуа аибашьра амемориалтә обиектқәа реиҭашьақәыргылара нап шаркыу”.
 

“Иахьатәи амемориал иаҳәоит ҳзеиҧш ҭоурых ҳаҭырла азныҟәара. Ари атәылаҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа рбаҟақәа анышьақәдыргыло, уи даҽа знеишьоуп. Даҽа тәылак аҟны ианҧыржәо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟақәа, убри аан ианҭахо ауаа – уи даҽа знеишьоуп... Аибашьра афырхацәа ҳгәаларшәо, ҳара зегь раҧхьа ҳазхәыцуеит аҭынчра. Аҧсны жәытә аахыс ирдыруеит аҭынчра ахә”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи адипломат.
 

С.Григориев иазгәеиҭеит, аветеранцәа даҽа еибашьракгьы ишахаану. Аибашьра ду аветеранцәа рҧацәеи рмаҭацәеи Аҧсны ахьыҧшымреи ахақәиҭреи зхы ақәызҵаз рацәоуп. Убри инамаданы, Урыстәыла иалшо зегьы ҟанаҵоит Аҧсны дгьылахь аибашьра ахлымӡаахрақәа мгьежьырц”, - иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
 

Ҭабуп ҳәа раҳо дықәгылеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Гәылрыҧшь абжьаратә школ анемец бызшәа арҵаҩы Екатерина Сениавскаиа. Уи илҳәеит, лыҧшәма, аибашьра автеран, ааигәа аныҳәа дахьымӡакәа иҧсҭазаара дшалҵыз. “Лацарамза  9 – ҳара аветеранцәа ҳзын иҷыдоу мшуп. Ҳара есышықәса ҳазыҧшыуп ари аныҳәа ҳгәырҕьареи ҳалаҕырӡи еилаҵәо”, - лҳәеит Сениавскаиа.
 

Аиашьаратә ҳаҭгәын аҟны абаҟа аартра ашьҭахь, ацеремониа алахәцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-93 шш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахаз аиашьцәа  рыхьӡала Гәылрыҧшь араион Маҷара аҳаблан игылоу абаҟаҟны.

 

06.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр: “Ауаҩы изинқәа рхылаҧшразы анаҧшцәа рмиссиа” Аҧсны акәымкәа Қырҭтәыла ауп иахьаҧҵатәу

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр: “Ауаҩы изинқәа рхылаҧшразы анаҧшцәа рмиссиа” Аҧсны акәымкәа Қырҭтәыла ауп иахьаҧҵатәу, иааиҧмырҟьаӡакәа ауаҩы изинқәа ахьеиларго. Абри атәы иҳәеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиа, Қырҭтәыла ареинтеграциа азҵаарақәа рзы аминистр Темур Иакобашвили иажәалагала “Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟны ауаҩы изинқәа реилагаразы амиссиа аҧҵаразы” ахҳәаа азыҟаҵо. Иакобашвили  абри атәы иҳәеит, ауаҩы изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Томмас Хаммерберг Қарҭ иҧылараан.

 

М.Ҕәнџьиа иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп аполитбаандаҩцәа, ус еиҧш иҟоу Аҧсны иҟаӡам, иҟаларангьы иҟам. “Қырҭтәыла амчрақәа ирҿагыло ауаа хабарда ибжьаӡуеит, иҭахоит, мамзаргьы абахҭақәа ирҭакыуп. Убри инамаданы, Қырҭтәыла ауаҩы изинқәа рхылаҧшразы амиссиа аҧҵара аҭахыуп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада.

 

Аҧсны, иазгәеиҭеит уи, ауаҩы изинқәа рхылаҧшра азҵаарақәа рыӡбара иалахәуп аиҳабыреи, аграждантә еилазаареи, егьырҭ Аҧсныҟа иаауа иобиективтәу жәларбжьаратәи ахаҭарнакцәеи.

 

05.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Афон Ҿыц даҭааит

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Афон Ҿыц даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада дазҿлымҳан ақалақь акәрорттә сезон ишазыҟаҵоу. Уи дырҭааит Афонҿыцтәи аҳаҧи  аџьармыкьеи.

 

Багаҧшь Афон Ҿыц ақалақь ахада Феликс Дауҭеи аҳәынҭеилахәыра “Аҧсныавтомҩақәа” рдиректор Леонид Лолуеи анапынҵа риҭеит амҩақәа ахьҭаҧҽу идырҽеиразы.

 

03.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иналукааша Аҧсны аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи иҵуеит 117 шықәса

 

Лаҵарамза 1 азы иҵуеит 117 шықәса Аҧсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аҧсны Ацентртә Анагӡаратә комитет ахантәаҩы Нестор Аппалон-иҧа Лакоба диижьҭеи. Убри инамаданы, иаҳхысыз асабшазы акоммунистцәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны иҟоу Нестор Лакоба ибаҟа аҿаҧхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.

 

1936 шықәса, ҧхынҷкәынмзазы Лаврентии Бериа Қарҭ Лакоба дызгашаз ахәшә ииҭоит, уи ашьҭахь уи ажәлар драҕан ҳәа ихырҵоит. Аҧсны Лакоба даныҧсыз арыцхә ареспубликаҟны мҽхакыҭбаалатәи арепрессиақәа ианрылагаз акәны ирыҧхьаӡоит.

 

Уи ашьҭахь дырбаандаҩын, иааигәыдҵангьы дшьын Нестор Лакоба иашьа Михаил. Иаарласны арепрессиақәа ирықәыршәан Нестор иҧшәма Сариеи, рҧа Рауфи,  Нестори Сариеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Сариа  цәгьаҧсышьала лыҧсҭазаара далҵуеит лҿахәы анылҿырхуаз. Рауф  ашьра иқәырҵоит 1940 шықәса рзхы.

 

Есышықәса, Аҧсны жьҭаарамза 30 рзы иазгәарҭоит Сталин ирепрессиақәа ирылаӡыз ргәаларшәара амш. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ражәақәа рыла, Аҧсны 20-тәи ашәышықәса 30-40-тәии арепрессиатә шықәсқәа рзы зықьҩыуаак инареиҳаны ирхьысит, зегь раҧхьа инаргыланы аинтеллигенциеи, аполитикатә елитеи.

 

Мшаҧымза 30 рзы Апарламент иаднакылеит азакәан “Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рыриашаразы”.

 

03.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа иҟалеит Афырхацәа – Аҳәаахьчаҩцәа рымҩаду ҿыц

 

Аҟәа иҟалеит Афырхацәа – Аҳәаахьчаҩцәа рымҩаду ҿыц. Аҟәа Ақалақьтә Еизара аӡбарала, Урыстәыла Афедерациа ашәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа  Аҧсны иаҧҵоижьҭеи шықәсык аҵра инамаданы, Ашколтә мҩа ахьӡ ҧсахыуп Афырхаҵәа Аҳәаахьчаҩцәа рымҩаду ҳәа.

 

Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа ишышьақәирҕәҕәаз ала, ари амҩаду аҟны иргылахоит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ашәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа азы ахыбра.

 

Иахьа имҩаҧысит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рыхьӡала амемориалтә ҕәы аартра.

 

Аҕәы аадыртит аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аахыҵ афедералтә округ арегионалтә усбарҭа аиҳабы Николаи Лисинскии. Аҭыҧ иҧшьеит аиереи Виссаион (Аҧлиа).

 

Иахьаҵәҟьа Аҟәатәи аҧшаҳәаҟны имҩаҧысит аҳәаахьчаҩцәа рбаҟа ахьықәыргылахо аҭыҧ аҟны символра зуа ахаҳә аартра. Уи иалахәын аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, аҧыза-министр Сергеи Шамба, Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа, Аахыҵ афедералтә округ арегионалтә усбарҭа аиҳабы Николаи Лисинскии, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы аинрал-маиор Иурии Звирык уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Ацеремониа хыркәшанАҧснытәии Урыстәылатәии аррамаҵзуцәа рныҳәатә марш ала.

 

03.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылатәии Аҧснытәии аҳәаахьчаҩцәа Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны еиҭарҳаит “Аҭынчра аҵла”

 

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны Урыстәыла Афедерациеи ареспублика Аҧсни рыбжьара Аҧсны аҳәынҭҳәаақәа еилахәны  ахьчаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи шықәсык аҵреи, иара убас Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа Аҧсны аҧҵареи инарымаданы, аҭынчреи, аиҩызареи, ақьиареи ирсимволны еиҭаҳауп “Аҭынчра аҵла”.

 

“Аҵла – колхидатәи шыцҵлоуп – иҕәҕәоуп шәара шәыбзоурала еиқәырхоу ҳҭынчреиҧш”, - иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рахь ихы нарханы аботаника аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Савелии Ҷыҭанаа.

 

“Аҭынчра аҵла” аиҭаҳара ацеремониа иалахәын Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы аинрал Иурии Звирик,  Аҧсны аганахьала уи иколлега зураб Маршьан, аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, Урыстәыла Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура Аахыҵ афедералтә округ арегионалтә ҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Николаи Лисинскии, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Семион Григориев, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Беслан Кәбраа, Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа.

 

03.05.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада