AҦCУAA PЫБЖbbI

                   -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 

 

Иахьатәи ашьыжь иазаанагаз ажәабжь хьанҭа – ҳаҭыр зқу, акыр иаҳзаҧсоу  ҳҳәынҭқарра Ахада изаамҭаным иҧсҭазаара иалҵра ҳара -  Европатәи атәылақәа рҿы хыҧхьаӡара рацәала инхо кавказтәи адиаспора, иара убас Аҧсны алахьынҵа хьаас измоу зегьы – ҳаршанхеит, ҳгуаҵанӡа иалсит. Ҳара даҳцәыӡит Аҧхьагыла Ду, зтәылазы згәабзера, зыҧстазаара ирмеигӡоз Апатриот, Аҧсны аҵеи лаша.

 

Зқьыла Европа иаланхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рыхьӡала гәыкала ҳрыдашшылоит ҳҳәынҭқарра Ахада иҭаацәа, иуацәа, изааигәоу, Аҧсны ажәлар, иахьыҟазаалакгьы ҳџьынџьуаа зегьы. Ҳгәыҕуеит, ҳажәлар еснагь ирымаз аҟуҕареи ачҳареи иахьагьы ирыхәап ҳәа.

 

Сергеи Васили-иҧа Багаҧшь еснагь ҳгәаҿы даанхоит ҳәаа змам апатриотизми, ҳтәыла ахьыҧшымра азхаҵареи, уи ҭынчра мҩала аҿиареи дырсимволны.

 

Акомитет „Pro Abkhazia“,

 

Германиа иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра инамаданы, хыҧхьаӡара рацәала адышшыларатә телеграммақәа аауеит

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иҧсра инамаданы, аҳәаанырцә иҟоу ацҳаражәҳәарҭақәа рыҟны иаартуп адышшыларатә шәыҟәқәа. Шьыжьнаҵы, атәылақәа рлидерцәеи, ауаажәларреи, ус атәылауааи, хаҭала Сергеи Багаҧшь дыздыруази Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҭаацәеи иҭынхацәеи рхьаа рыцеиҩыршоит, урҭ рҟынтә иаауеит хыҧхьаӡара рацәала адышшыларатә телеграммақәа.

 

Иара убас, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иаауеит адышшыларатә телеграммақша:

 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа аҟынтә;

Приднестровиа-Молдовиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә;

Аахыҵ-Уаҧстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә;

Ареспублика Вануату аҧыза-министр Мелгек Сато Килман Ливтунвану иҟынтә;

Иазхаҵам Ажәларқәеи Амилаҭқәеи Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хада – Марино Бусдачин иҟынтә;

Белоруссиа иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ – Америко Диас Нунес иҟынтә;

Боливиа иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәарҭа аҟынтә;

Кавкази-Аҧсни Рҩызаразы Аилак ахантәаҩы Ирфан Аргәын иҟынтә;

Болгариа иҟоу Аҧсны ахаҭарнак – Омер Маршьан иҟынтә;

Британиа ду иҟоу Аҧсны аҳаҭыртә цҳаражәҳәаҩ – Џьорџь Хиуитт иҟынтә;

Санкт-Петербургтәи аунивирситет аҟынтә.

 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев гәалсра дула дрыдышшылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ А .Анқәаб, анапхгара зегьы, Аҧсны аиашьаратә жәлар.

 

Ателеграммаҟны иазааҭгылоуп:

 

“Ҳаҭыр зқәу, Алеқсандр Золотинск-иҧа! Москвантә иааҩыз ажәабжь хьанҭа, изаамҭанӡамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Сергеи Багаҧшь изы, ҳгәаҵанӡа хьааны инеиит. Убри инамаданы, гәалсра дула сшәыдышшылоит хаҭала шәареи, анапхгара зегьи, аиашьаратә аҧсуа жәлари. Сергеи Уасил-иҧа иҧсҭазаара зегьы азикит Иҧсадгьыл ахақәиҭразы ақәҧреи Ахьыҧшымреи, ашәҭкакаҷреи. Уи аҭоурых аҟны наунагӡа даанхоит еицырдыруа политикны, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара апроцесс ахыҵхырҭаҟны игылаз иакәны. С.Багаҧшь Урыстәыла даҩыза дыун, илшоз зегьы ҟаиҵон ҳажәларқәа рыбжьара итрадициахаз ганрацәалатәи аимадарақәа рыҿиаразы. Ари амш сара сзын ҩынтәынгьы ихьанҭоуп. Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аҳәынҭкарра Ахадара анаҩсангьы, 2008 шықәса рзы сара сыгәраргаратә грамота здызыкылаз сҩыза еиҳабы. Аҳәара ду ҟасҵоит Сергеи Багаҧшь иҭаацәа шәсызрыдышшыларц.”

 

Фазиль Искандер игәаҵанӡа инеиит Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра, Аҧсны жәлар ирзеиҕьеишьеит ахаҵареи, агәрҩа аиааиреи, аҟәҕареи. “Гәыхьла исыдыскылоит Сергеи Багаҧшь иҧсра. Уи анапхгарахь днеиит Аҧсназы иуадаҩыз аамҭақәа рзы, иагьилиршеит жәлар рыҧсҭазаара аиҭаҿиаразы зегьы”.

 

Аҧсуа-абаза жәларқәа Жәларбжьаратәи Рконгресс Апрезидент Тарас Шамба еиҭеиҳәеит Сергеи Багаҧшь дидыруеижьҭеи такә шҵуа, аҧхьаҟатәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иполитикатә кариера анхацыркха инаркны. “Уи ихаҭара ашьақәгылареи, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усуҩны иҟалареи зегьы мҩаҧысуан сҿаҧхьа. Исҳәарц сылшоит, ишьақәгылара аетапқәа зегьы рыҟны ихы ааирҧшуан иҭышәынтәалаз , ҧхьаҟа аҧеиҧш ду змаз уаҩны”, - иазгәеиҭеит Шамба. Иара иажәақәа рыла, С. Багаҧшь ироли уи дзыҧсази убарц алшон Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭақәа рзы. “Уи ихы ааирҧшит патриот дуны, деиҿкааҩны. Аибашьра иаҿагылаз аҧсуа ар реиқәыршәараҿы илагала дуӡӡоуп. Аибашьра анеилга ашьҭахь, Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада В.Арӡынбеи иареи ишьҭаханы иҟаз Аҧсны аекономика аиҭарҿиараҿы ирылдыршаз рацәаӡоуп”, – иазгәеиҭеит Т. Шамба. Уи, иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит, раҧхьатәи алхрақәа раан аполитикатә аренаҟны ишилшаз ауадаҩрақәа риааира.

 

“Багаҧшь убас еиҧш аҩаӡара аҟынӡа анеира илиршеит, уи аҭагылазаашьа инаҭон аппозиционерцәа рыҟны ачҳара ааирҧшыртә еиҧш, убри аан уи дырҿагылан ҕәҕәала Аҧсны аиҭашьақәыргылара иаҧырхагаз. Иара ирҿиараҟны, зегь реиҳа иҳаракыз аҩаӡарақәа иреиуахеит, иара ихаан Урыстәыла Афедерациа аганахьала Аҧсны ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азин иасубиектны, исуверентәу ҳәынҭқарраны азхаҵара ахьаиуз,” – инаҵшьны иазгәеиҭеит Шамба. Ари аҳаракыра Багаҧшь ижәлар ргәаҿи, Аҧсны аҭоурых аҟни наунагӡа даанхартә еиҧш аҭагылазаашьа инаҭеит.

 

“Ари ацәыӡ – иузхамырҭәаауа цәыӡуп. Уи акритика анизыруаз акәзааит, иара иганахь аҽыҧныҳәа аныҟарҵоз акәзааит, еснагь уаҩышәала, аҧхарра аҵаҵаны зегьы дырзыҟан. Уи убас еиҧш гәыбылрак, ҧхаррак аҵаҵаны зегь рацәажәара рнаалара илшон, аппозиционерцәа рганахьалагьы цәымҕшақә изыҟамлартә еиҧш. Иҟан аиҿагыларақәа, аимакқәа, ацәажәарақәа, аха убри аангьы уи дшаҳаракыз даанхон”, - иациҵеит Шамба.

 

Мраҭашәара Европа инхо адиаспора рхаҭарнакцәа зегьы ргәы днархьит изаамҭанӡамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз ҳаҭыр дуӡӡа зқәыз, иҳазгәакьаз Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсра. Ҳара даҳцәыӡит алидер, аҳәынҭқар, аполитикатә усзуҩ, Аҧсны аҵеи лаша, Зыҧсадгьыл амаҵ аура зхы-зыҧсы зегьы азкыз Ауаҩ ду.

 

Мраҭашәара Европа атәылақәа рҟны инхо адиаспора рхаҭарнакцәа зегьы рыхьӡала ҳрыдышшылоит уи иҭаацәа, аҳәынҭқарра Ахада изааигәаз, Аҧсны жәлар зегьы, иарбан тәылоу дахьынхазаалак еилых ҟамҵакәа адиаспора зегьы.

 

Ҳгәы иаанагоит ҳажәлар рҟәҕареи рычҳареи ари аҧышәара ду аиааира рылнаршап ҳәа. Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь ҳагәқәа рыҟны даанхоит ҳәаа змам апатриотизмра дасимволны, xьыҧшымреи, ҳҭынч ҿиареи дрсимволны.

 

Аилак “Pro Abkhazia”.

Германиа иҟоу Аҧсны Ахаҭарнакра.

 

Аҟәа, Ареспублика Аҧсны

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.У.Багаҧшь иҧшәма –ҧҳәыс М.Г.Шониа лахь.

“Ҳаҭыр зқәу, Марина Григори-иҧҳа!

 

Изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз шәыҧшәма С.У.Багаҧшь иҧсра гәалсра дула иҳадаҳкылеит. Иналукааша аполитик, Аҧсны апатриот иаша, ихы-иҧсы зегьы ахьыҧшымреи, Иҧсадгьыл аршәҭыкакаҷреи ирызкын.

 

Игәалашәара лаша ҳгәаҵаҟны иаанхоит. Ҳаҭыр зқәу Марина Григори-иҧҳа ҳара иахьагьы, аринахысгьы ҳазыхииоуп шәара шәыцхыраареи шәыдгылареи.

 

Урыстәыла Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ
И.З.Зубков.

 

30.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Рашәарамза 1 азы аҿар рхаҭарнакцәа имҩаҧыргоит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь ихьӡала акциа

 

Аҧсны аҿар гәалсрыла ирыдыркылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра.

 

Уаҵәы, рашәарамза 1 азы аҿар рхаҭарнакцәа имҩаҧыргоит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала акциа.

 

20.00 сааҭ рзы арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи асасааирҭа “Интерс-Сухум” аҿаҧхьа еизоит, уантәи ацәашьқәа аркны Сергеи Багаҧшь дахьынхоз аҟынӡа инеиуеит.

 

Иара убас иршалоит ацаха еиқәаҵәақәа.

 

“Иналукааша аполитикатә усзуҩ ду, Аҧсны ахьыҧшымра ашьақәгылара апроцесс хзыркәшаз, ҳара аҿар хырҩаа ду ҳзыҟаиҵон. Уи ҳҧеиҧш агәра игон, иахәҭоу ааӡареи аҵарадырреи ҳауразы зегьы ҟаиҵон. Уи иџьабаа рныруан ашколхәыҷқәа, астудентцәа, азанаҭуаа ҿарацәа. Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь игәалашәара наунагӡа ҳагәқәа рыҟны иаанхоит”, -ҳәа азгәарҭон акциа аиҿкааҩцәа.

 

30.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.У.Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра инамаданы, Москва ақалақь Ахада Аҧсны жәлар зегьы дрыдышшылоит

 

“Гәалсра дула исыдыскылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсра. Аҧсны жәлари иареи аҧышәара хьанҭақәа иргәлсны, Сергеи Уасил-иҧа итәыла аҭоурых аҟны ароль дуӡӡа наигӡеит. Уи Аҧсны ахьыҧшымра ахыҵхырҭаҟны агылара анаҩсгьы, Аҧсны аекономикатә еиҭаҿиареи, аҳәынҭқарра арҕәҕәареи, Жәларбжьаратәи аренаҟны апрестиж ашьҭыхреи рыҟны иҟаиҵаз рацәаӡоуп.

 

Аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны уи илагала дуӡӡоуп. Урҭ реидгылатә ҟазшьеи, наҟ-ааҟ агәреибагареи, аҳаҭыреиқәҵареи – ралыршара уадаҩын Сергеи Уасил-иҧа иполитикаптә ҟәҕареи, ихаранаҧшреи рыда.

 

Москва аиҳабыра, Аҧсни уи Ахадеи рыҟны еснагь ирбарҭан – ихадаз узықәгәҕшаз апартниорцәа. Жьырныҳәамзазы, Москва ҳаиҧылараан – Сергеи Уасил-иҧеи сареи иазгәаҳҭеит аусеицуразы аплан ҿыцқәеи апроектқәеи ахәҳахәҭра-аекономикатәии, агәманитартәи, акәльтуратәи усхкқәа рыҟны. Ҳара ҳуалҧшьа – урҭ раларҵәароуп. Ҳамчқәа еилаҵаны иҟаҵатәуп убас еиҧш, Сергеи Багаҧшь иуси игәалашәареи – ҩ-тәылак руааҧсыра ргәаҟны еснагь аҧсы ҭазарц.

 

Азин сышәҭ Сергеи Уасил-иҧа иҭаацәеи,Аҧсны жәлар зегьи гәалсра дула рыдышшылара. Сергеи Уасмил-иҧа дуаҩ дыуын, дпатриотын, уи қәнагала иҧсҭазааратә мҩа данысит. Игәалашәара лашазааит”.

 

30.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь иҧсра – аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рзы цәыӡ дууп – Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ

 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ С.Григориев агәра игоит, аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рыҟны еиҭакра ҳәа акагьы шыҟамло ала. Абри атәы иҳәеит В.Арӡынба ихьӡ зхыу аҳаиртә баҕәазаҟны ажурналистцәа аниҿцәажәоз.

 

Адипломат инаҵшьны иазгәеиҭеит, арҭ аизыҟазаашьақәа ишрымоу иҵаулоу адац-ҧашә, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урҭ рыҿиара ашьаҭа аҽарҭбааит. ”Сара аҵыхәтәанынӡа агәра згоит, аҧсуа жәлари Аҧсни ари ацәыӡ ду ишақәнагоу еиҧш ҭынч, ҟәҕарыла иаиааины, аҳәынҭқарра Ахада иҧсра инамаданы зда ҧсыхәа ыҟам аполитикатә ҧсахрақәагьы рылдыршап ҳәа. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа – Урыстәылеи Аҧсни аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ишыҿиоз еиҧш иҿиалоит”, - иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ. Семион Григориев иажәақәа рыла, ”Сергеи Багаҧшь иҧсра ижәлари идгьыли рзы цәыӡ дуӡӡоуп”. Иара иажәақәа рыла, уи Урыстәыла даҩыза дуун. Иҧсҭазаара зегьы урыстәыла ажәлар ирыдҳәалан. ”Уи илшоз зегьы ҟаиҵеит, итрадициатәу аурыс-аҧсуа еиҩызара арҕәҕәаразы. Ари цәыӡ дууп аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рзы, зегьы раҧхьа иргыланы Аҧсназы, - иҳәеит Григориев.

 

C.Григориев инаҵшьны иҳәеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ”дшполитик дуыз”. ”Иаҭахыуп аамҭа рацәа, ари ауаҩ ихаҭара аҳаракыра адырразы. Уи анаҩсангьы, ари ҭеиҭыҧшла иҧшӡаз, иҳаракыз, иқьиаз уаҩын. Сара хаҭала уи иҩызара насыҧс исыман. Даараӡа исҭахын, Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура дахаанхар, аха уи ҟамлеит”, - иазгәеиҭеит уи.

 

30.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ашәахьаҽны, Москва ,Урыстәыла Афедерациа арбџьармчқәа ркәльтуратә центр аҟны имҩаҧысуеит Сергеи Багаҧшь наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара

 

Ашәахьаҽны, амш актәи азыбжазы Москва, Урыстәыла Афедерациа Арбџьармчқәа Ркәльтуратә центр аҟны имҩаҧысуеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара.

 

“Аграждантә панихидеи Сергеи Багаҧшь наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәареи мҩаҧысуеит, Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада В.Арӡынба наунагӡа абзиараз ҳәа ахьиарҳәоз аҭыҧ аҟны”, - ишьақәдырҕәҕәеит Москва иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭаҟны. Алахьеиқәҵаратә церемониа аҽалархәразы Урыстәыла аҳҭны-қалакь ахь днеиит Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамба.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада анышә дамардоит аҧшьаша, рашәарамза 2 рзы, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан.

 

29.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы В.Путин Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵоит

 

Ареспублика Аҧсны аҧыза-министр С.Шамба ихьӡала иаашьҭу адышшыларатә телеграммаҟны иаҳәоит:

 

“Иҧсҭазаара далҵит иналдукааша аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аҧсадгьыл апатриот иаша. Сергеи Багаҧшь ихьӡ иадҳәалоуп исуверентәу Аҧсны жәларбжьаратәи азин асубиект аҳасабала раҧхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара, уи ироль аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҟни Ареспублика асоциал-економикатә ҿиареи рыҟны ахәшьара уадаҩуп.

 

Ҳара ҳгәалашәараҟны С.У.Багаҧшь наунагӡа даанхоит итрадициатәу аурыс-аҧсуа еиҩызара арҕәҕәареи, иааизакны ҩ-ганктәи аусеицура зегьи дырзықәҧаҩны. Ҳара Аҧсны жәлар гәык-ҧсыкала ргәрҩа рыцеиҩаҳшоит.

 

Аҳәара ҟасҵоит ,Сергеи Уасил-иҧа иҭаацәа гәалсра дула шәсызрыдышшыларц.

 

29.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны анапхгареи ажәлари дрыдышшылоит

 

Дмитрии Медведев Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра инамаданы, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб ихьӡала адышшыларатә шәҟәы ааишьҭит.

 

“Гәалсра дула исыдыскылеит Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра.

 

Иналукааша аполитик ҟәҕа, Аҧсны апатриот иаша , ахәшьара уадаҩуп Ареспублика ахьыҧшымреи асоциал-економикатә ҿиареи рҟни, зых иақәиҭу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирсубиектны ашьақәгылараҿи илагала.

 

С.У.Багаҧшь Урыстәыла аҟны аиҩызареи аизыҟазаашьақәеи рышьақәыргылара дадгылаҩын, ааҧсарак ҟамҵакәа аус иуан ҩ-тәылак рыбжьара еизааигәоу ҩ-ганктәи аимадарақәа рырҕәҕәара арҵаулараҿы. Ас-еиҧш ацәыӡ хьанҭа асааҭқәа рзы гәык-ҧсык ала шәсызрыдышшыл Аҧсны жәлари, Сергеи Уасил-иҧа иҭаацәеи иҭынхацәеи. Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҟны иаанхоит”.

 

29.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы адырраҭара

 

Иахьа ашәарҭадара Ахеилак инарҭбаау аилатәара ашьҭахь, ахәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Алеқсандр Анқәаб “Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы” Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
 

Аусҧҟа аҟны иаҳәоит:
 

“Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.У.Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра инамаданы, ишьақәсырҕәҕәоит:

 

1.Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.У.Багаҧшь иҧсыжра аиҿкааразы иаҧҵазарц Аҳәынҭқарратә комиссиа. Уи аилазаараҟны:

 

А.З.Анқәаб, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо, Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы;

Н.Н.Ашәба, Аҧсны Жәлар Реизара Ахада;

С.М.Шамба, Аҧсны аҧыза-министр;

Г.Н.Еныкь, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы;

А.М.Лабахәуа, Аҟәа ақалақь Ахада;

М.Б.Кьышьмариа, Аҧсны атәылахьчара аминистр;

К.К. Озган, Аҧсны абыргцәа Рхеилак Ахантәаҩы;

Н.Н. Акаба Ареспублика Аҧсны Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ;

А.Н. Гогәуа, Аҧсны жәлар рышәҟәҩҩ;

В.И.Василиев, Ареспублика Аҧсны Жәлар Реизара Ахеилак ахантәаҩы;

Д.Н.Ҭарба, Ареспубликатә партиа “Иакыу Аҧсны” Ахантәаҩы;

Х.Д.Минасиан, Аҧсны иҟоу Аерманцәа реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, Аҧсны Ауаажәларратә палата алахәыла;

 

2. Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа рыланаҳәоит”.

 

Кристиан Бжьаниа,

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иаҧҵоу аинформациа Аусбарҭа анапхгаҩы.

 

29.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧсҭазаара иалҵра инамаданы,Ареспублика анапхгара адышшылара ҟарҵоит

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо, Жәлар Реизара – Ареспублика Аҧсны апарлдамент, Аҧсны Аминистрцәа реилазаара гәалсра дула адырра ҟарҵоит иаалырҟьан иҧсҭазаара дшалҵыз иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ареспублика Аҧсны аҳәынтҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь,

 

Иагьрыдышшылоит иҭаацәеи, Аҧсны жәлар зегьи.

 

Алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа.

 

29.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Амассатә информациатә хархәагақәа рзы адырраҭара

 

Иахьа Урыстәыла Афедералтә амедицина-биологиатә агентра иамтәу москватәи 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟны иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь. Лаҵарамза 21 рзы уи иарҕьаратәи арҧҳа аҟны имҩаҧган ахирургиатә ҧҟара, аҳақьымцәа изларҳәаз ала, уи мҩаҧысит ибзиан. Аха, аҵыхәтәантәи ҩымш раахыс С. Багаҧшь иҭагылазаашьа еицәахеит.

 

Лаҵарамза 28 рзы ачымазара аҽаланарҵәеит егьырҭ ицәеижь ахәҭақәа рахь.

 

Аҳақьымцәа акыр усмҩаҧгатә шрыдыркылазгьы, аҳәынҭқарра Ахада ичымазара иалгара рылымшеит.

 

Иахьа ашьыжьымҭан, ихдырраҟны дмааиӡакәа, С.Багаҧшь иҧсҭазаара далҵит.

 

Кристиан Бжьаниа,

Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак.

 

29.05.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада