AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 
 Италиатәи анаплакцәа Аҧсны раҭаара хыркәшахеит

 

Ихыркәшахеит италиатәи анаплакцәа рделегациа Аҧсны рыҟазаара аамҭа. Италиатәи Агро-ааглыхратә еилазаара “LPR” ахаҭарнакцәа аминистр изеиҭарҳәеит раҭаара лҵшәақәас иаиуз атәы. Ламберто Росси иазгәеиҭеит: «Ари аамҭа иалагӡаны акрызҵазкуа аиҧыларақәа мҩаҧаагеит Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы, Аекономика аминистрраҿы, Ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадырратә институт аҟны, иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҟны. Аҭҵаарадырратә институт аҟны имҩаҧысуаз аиҧылараан ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит: арахә рыфатә аҟаҵаразы афабрика аартра азҵаара ахьырыӡбаша афермерцәа рконсорциум аҧҵара. Ҳгәы иҭоуп иара убас, Ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадырратә институти ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵаны, Аҧсны атриуфельқәа рааӡаразы иҟоу алшарақәа рыҭҵаара ҳалагарц. Ари аусхкаҿы ҳара иҳамоу акыршықәсазтәи аҧышәа Аҧсны иҟоу ҳколлегацәа иахьрыхәо рацәоуп».

 

Италиатәи аделегациа аресторантә бизнес аусхкаҿгьы аспециалистцәа разырхиаразы ацхыраара ҟанаҵарц шалшо аанарҧшит. Ирылацәажәеит атуризм, ааглыхра, ақыҭанхамҩа уҳәа ирызку егьырҭ аидеиақәагьы, иара убас ақалақь Пезарои ҳареи мшынла ахәаахәҭратә еимадара ашьақәыргыларазы лшарақәас иҟоу. Аиҧылара анхыркәшаха ашьҭахь италиатәи аделегациа рынҩныҟа амҩа иқәлеит. Аделегациа дацын Италиа иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мауро Мурджиа.

 

31.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба диҧылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Еиду амилаҭқәа реилазаара Ахаҭарнак ҷыда Антти Турунен

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба диҧылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Еиду амилаҭқәа реилазаара Ахаҭарнак ҷыда Антти Турунен. Аиҧылараҿы ирылацәажәон иааираны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаҧысшьеи, Аидысларақәа раҧырҟәҟәаареи рнырреи рзы амеханизм акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ аҧыхразы еиуеиҧшым агәаанагарақәеи.

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала «Амеханизм аусура акризис цәырнагеит. Уи акризис алҵразы Гал араион аҿы ақырҭцәа имҩаҧыргаз атеррористтә цәгьоурақәа ишахәҭоу еиҧш ирыхәаҧшроуп. Амеханизм аусура хықәкы хадас иамоу абри ауп. Ԥхынҷкәын 29 2011 шықәса инаркны иҟалаз ашьрақәа 11 Евро-Еидгыла аҟынтә Қырҭтәыла иҟоу Анаҧшцәа рмиссиа ахада Анджеи Тышкевич иажәахә аҟны зынӡа рыӡбахә имҳәеит. Иара иганахьала иҳамоу апозициа ҳаҧсахӡом».

 

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит рашәарамза 7-8 рзы.

 

31.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭаҿы аҳәынҭқарра аҧарала еиҭашьақәыргылоу аҩны аҿы зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа ауадақәа рцаҧхақәа роуит

 

37-ҩык зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа ауада ацаҧхақәа роуит, аҳәынҭқарра аҧарала еиҭашьақәыргылаз Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭа иҟоу аҩны аҿы.

 

Ауадақәа рцаҧхақәа рырҭеит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еиалкы аҿы. Аиҧылара иалахәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада Феридун Аҟәысба, Инегиоль иҟоу акультуратә центр анапхгаҩы Талат Қапба, Гәылрыҧшь араион ахада ихаҭыҧуаҩ, зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз рызҵаарақәа рзы аҭакҧхықәра зду Вадим Ҳаразиа.

 

Гәылрыҧшь ахадара иаарласны аҩны афымцеи аӡи ирыдҳәалоу аусурақәа хдыркәшоит, уи ашьҭахь ауадақәа зоуз дара ишырҭаху аҩнуҵҟатәи аремонт ҟарҵоит.

 

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба еиҭеиҳәеит ауадақәа шыршаз. Раҧхьа иргылан Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә Еибашьра аветеранцәеи аҭаацәара дуқәеи рзы. Ауадақәа зоуз реиҳараҩык Ҭырқәтәылантәи ихынҳәыз ҳџьынџьуаа роуп. Анхарҭа ҿыц роуит шықәсыбжак аҧхьа ихынҳәыз Сириантәи ҳҳџьынџьуаагьы, иара убасгьы Ҟарачы-Черкесски Аџьариантәи ихынҳәызи.

 

Зураб Адлеиба иажәақәа рыла ауадақәа зоуз рыбжьара иҟоуп аҭаацәара аҧызымҵац арҧарцәагьы, урҭ агәра идыргеит анхарҭа шроулак аҭаацәара ишалалоу ала.

 

Иҟоуп зхәыҷқәеи зыҳәсеи аазымгацыз ҳџьыньуаа анхарҭа ахьрымамыз иахҟьаны, уажәшьҭа урҭгьы иааргар рылшоит. Излеилкаахаз ала, анхарҭа зоуз рҟынтәи Ҭырқәтәылаҟа ицаз ыҟоуп рҭаацәа рыманы иаарц азы.

 

Иазгәаҳҭоит уажәтәи аамҭазы Дранда аҳаблаҿы аргылара ишаҿу Сириантәи ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рзы аҩны. Лаҵарамза алагамҭазы Аҧсныҟа ихынҳәит 27-ҩык. Уи аҩнаҿы аҩнуҵҟатәи аремонтгьы ҟарҵоит, иара убасгьы ҩнымаҭәала еиқәдыршәоит.

 

Сириантәи ихынҳәыз ҳџьынџьуаа аҩналареи анхареи роуп ирзынхо,- Аҧсныпресс акорреспондент иарҳәеит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.

 

Макьана урҭ аамҭала асасааирҭа «Аиҭар» аҿы инхоит, аҧсшәа рҵоит. Урҭ рахь есымша инеуеит Аҧсны еиуеиҧшым аусбарҭақәа рҟынтәи, иара ус ауаажәларгьы, ирызнаргоит аҳамҭақәа. Мышқәак раҧхьа «Аҳәынҭеимадарахылаҧшреи» Аҟәа ақалақь апрокуратуреи ахәыҷқәа ирызнаргеит амаланыҟәақәа, ахәмаргақәа, ашәҵамаҭәақәа.

 

30.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи акомитет ҳамҭас Аҧсны Адәныҟатәи аусқәарминистрра ианаҭеит азиндырра иазку ашәҟәқәа рацәаны

 

Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи акомитет ҳамҭас Аҧсны Адәныҟатәи аусқәарминистрра ианаҭеит азиндырра иазку ашәҟәқәа рацәаны. Аминистр В. Чрыгба Аҧсны иҟоу Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи акомитет ахада Лиук Хаас иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ас еиҧш аҳамҭа ду азы.

 

Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи акомитет Аҧсны аус ауеит 1992 шықәса инаркны, имҩаҧнагоит хкы рацәала агуманитратә программақәа. 2007 шықәсанӡа имҩаҧнагеит зымҽхак ҭбаау апроектқәа хҧа –хәыда-ҧсада акрыфарҭақәа реиҿкаара, аҩны зхы иамыхәакәа инхо рыцхыраара, хәыда-ҧсада амедицинатә цхыраара. Агуманитратә программақәа раанкылара ашьҭахь апрограмма Аҧсны аус ауеит акоординациатә, аконсульациатә органк аҳасабала.

 

29.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Адәныҟатәи аусқәа рминистр В. Чрыгбеи Аҧсны аус зуа апрограмма “WorldVision” анапхгаҩы Силва Гораковеи реиҧылара мҩаҧысит

 

Имҩаҧысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр В. Чрыгбеи Аҧсны аус зуа апрограмма “WorldVision” анапхгаҩы Силва Гораковеи реиҧылара. Горакова аминистр изеиҭалҳәеит Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны апрограмма имҩаҧнаго апроектқәеи, иааиуа ашықәс ҿыцазгьы имҩаҧыргарц ирҭахуа проектқәеи ртәы. Аилазаара “WorldVision” Аҧсны аусауеит 2005 шықәсааахыс, имҩаҧнагоит арҵаратә, ақыҭанхамҩатә уҳәа уб. егь. апроектқәа. Апроектқәа еиуеиҧшым асоциалтә, аекологиатә проблемақәа рыӡбара иазкуп. Аилазаара “WorldVision” аусура Аҧсны араионқәа зегьыамҽханакуеит.

 

29.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублик аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра аиҳабы Г. Кәпалба С. У. Багаҧшь иҧстазаара далҵижьҭеи шықәсык аҵра иазкны адышшылара ааишьҭит

 

Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублик аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра аиҳабы Г. Кәпалба С. У. Багаҧшь иҧстазаара далҵижьҭеи шықәсык аҵра иазкны адышшылара ааишьҭит. Адышшыларатә телеграммаҿы иаҳәоит: «Абар шықәсык нҭыкәкәа ицеит ауаҩ қьиа, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны ихьыҧшым иазхаҵоу ҳәынҭқарраны ашьақәгылара зыхьӡ адҳәалоу С. У. Багаҧшь дҳаҧхеижьҭеи. Иара активла далахәын Приднестровие-Молдавиатәи Ареспубликеи Аҧсныи рыбжьара аигәыларатә еизыҟазаашьа бзиақәа рырӷәӷәараҿы, «Адемокраиеи ажәлар рзинқәеи рзы» ҳәа хьӡыс измоу аилазаара аҧҵаразы аинициаторцәа дыруаӡәкын».

 

29.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Н. Штански С. У. Багаҧшь иҧсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык аҵра иазкны адышшылара аалышьҭит

 

Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Н. Штански С. У. Багаҧшь иҧсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык аҵра иазкны адышшылара аалышьҭит. «Сергеи Уасил-иҧа ихьӡ иадҳәалоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны зегь реиҳа ихадоу ахҭыс – Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә азхаҵара аиура. Абаҩхатәра злаз аполитик, аҧышәа змаз адипломат, иҧсадгьыл апатриот иаша С. Багаҧшь есымша итәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара дазықәҧон. Ари еиҧш ауаҩы лаша игәалашәара наунагӡа иуаажәлар ргәаҿы иаанхоит,» – ҳәа аҳәоит адышшылараҿы.

 

29.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Едуард Кокоиты Аҧсныҟа дааит Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵижьҭеи шыҧәсык аҵра ахь

 

Иахьа аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык аҵра инамаданы Аҧсныҟа иааз уаанӡатәи Аахыҵ Уаҧстәыла ахада Едуард Кокоиты.

 

Александр Анқәаби Едуард Кокоити инаҵшьны иазгәарҭеит Сергеи Багаҧшь илагала Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи риашьаратә еизыҟазаашьақәа арҿиараҿы. Урҭ иазгәарҭеит атәылақәа рыбжьара аимадара ишацҵатәу, еиҳарак аҿар рыҩнуҵҟа.

 

Едуард Кокоиты иҳәеит игәы ишҭоу Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Урыстәылеи руаажәларратәи ркультуратәи еимадарақәа рызҵаарақәа рыла аус зуло афонд аҧҵара.

 

Александр Анқәаби Едуард Кокоити иара убасгьы иалацәажәеит Аахыҵ Уаҧстәыла аҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа, имаҩҧысыз аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рышьҭахь, иара убасгьы ирзааҭгылеит адәныҟатәи аполитика азҵаарақәагьы.

 

29.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Иахьа Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь дыҧсижьҭеи шықәсык ҵит

 

Иахьа Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь дыҧсижьҭеи шықәсык ҵит. Аҧсны ахада Александр Анқәаб, аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара аспикер Валери Бганба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Сергеи Багаҧшь инышәынҭрахь ашәҭқәа наргеит.

 

Сергеи Багаҧшь инышәынҭрахь иара убасгьы инеит уаанӡатәи Аахыҵ Уаҧстәыла ахада Едуард Кокоиты, Аҧсны иҟоу Аахыҵ Уаҧстәыла ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, астудентцәа.

 

Иахьа ахәылбыха Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаҧгахоит агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа- авидехроника дырбахоит, аҿар ажәеинраалақәа ирыҧхьоит, ашәақәа рҳәоит. Асааҭ 21.ҭҭ рзы ирылаҳәоуп Сергеи Багаҧшь игәалашәара, амашьынақәа рбыкь адыргоит.

 

Аҧсны аҩбатәи ахада иҧсҭазаара далҵит 63 шықәса дшырҭагылаз 2011 ш. лаҵарамза 29 рзы, Москва ирыҧҳа анҧырҟа мчыбжьак ашьҭахь. Сергеи Багаҧшь иҧсыбаҩ адгьыл иамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда, иабшьҭра рнышәынҭраҿы, иани иаби ахьжу.

 

29.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад рзанааҭтә мшы рыдиныҳәалеит

 

сны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад рзанааҭтә мшы – Аҳәаахьчаҩ имш – рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ҳаҧсадгьыл аҳәаақәа рыхьчара – аҳаҭыр зқәу, аҭакҧхықәра дугьы зцу усуп. Уи шәара қәҿиарала инашәыгӡоит. Апрофессионализми аус азы ахамшаҭареи аарҧшуа, аҳәаахьчацәа еиҧҟьара ҟамҵакәа ҳтәылауаа рҭынчра ахьчара иаҿуп.

 

Аҧсны Аҳәаахьчаратә отриад алахәылацәа рус бзианы ирдыруеит, ҳтәыла ахьчара иазку иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбоит.

 

Иахьанӡагьы ақырҭцәеи ҳареи ҳаимак ӡбамкәа ианаанхо аамҭазы ақырҭуа маҵзураҷыдақәа еиҵадырҟәаҟәо апровокациақәа ириааины, аҧсуа ҳәаахьчаҩцәа рхы иамеигӡакәа ҳтәыла аҭынчра еиқәдырхоит».

 

28.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Адәныҟатәи аусқәа рминистр Италиантәи анаплакыҩцәа рделегациа идикылеит

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧысит аминистр В. Чрыгбеи италиатәи анаплакыҩцәа рделегациеи реиҧылара. Аделегциа иалахәын: Еиҭамҵуа амал аилазаара алахәыла, Агроааглыхратә еилазаара «LPR» атехника-финанстә консультант М. Марчини, Аилазаара «LPR» анџьныр-аменеџьер Леонардо Росси, Агроааглыхратә еилазаара «LPR» азиндырратә хаҭарнак Ламберто Росси. Аиҧылара ихы алаирхәит Италиа иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мауро Мурджиа. Асасцәа еилахәу аҧсуа-италиатәи агроааглыхратә наплакы аартраҿы аинтрес шрымоу аадырҧшит, иара убас атуризм аусхкаҿцы аусеицура ишазыхиоу азгәарҭеит. Ламберто Росси аминистр изеиҭеиҳәеит Пезаро ақалақь аҟны атуризми, агроааглыхратә наплакреи аргылареи русхкаҿы Аилазаара «LPR» имҩаҧнаго апроектқәа зеиҧшроу. Л. Росси иажәақәа рыла, ари раҧхьатәи Аҧсныҟа рааироуп, уи аибадырратә ҟазшьа амоуп. «Ҳгәы иҭоуп Аҧсны аҭагылазаашьа зеиҧшроу аилкааразы ихаҭәаау аинформациа ҳазҭаша ауааи ҳареи ҳаикәшәарц. Анаҩс еицаҳзеиҧшу аинвестициатә проектқәа рымҩаҧгарагьы ҳазхәыцуа ҳалагоит», – иҳәеит иара.

 

Виачеслав Чрыгба иааркьаҿны анаплакыҩцәа ирзеиҭеиҳәеит Италиаҟа ицара шымҩаҧысыз, иагьазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ибжьаӡны иҟоу Европеи ҳареи ҳаимадарақәа реиҭашьақәыргыларазы аҽазышәарақәа шыҟарҵо, европатәи атәылақәеи, Италиагьы уахь иналаҵаны, ҳареи ҳусеицура арӷәӷәара ишашьҭоу. «Ҳара еилаҳкаауеит Аҧсны азхаҵара апроцесс шымариам, аха иахьазы хықәкыс иҳамоу Италиа ауаажәлари, аполитикцәеи, адипломатцәеи ҳареи аимадарақәа ҳабжьаҳҵарц ауп, ҳтәылазы иобиективтәу аинформациа уахь ироурц азы. Иахьагьы аҵарадырреи, акультуреи, анаплакреи русхкқәа рҿы Европеи ҳареи аусеицура ҳалшоит».

 

Италиатәи аделегациа лаҵарамза 31-нӡа Аҧсны иҟазаауеит.

 

28.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Денис Царгәыш Аолимипиатә хәмарақәа рахь дцоит

 

Елене Новикова, Аҧснынтәи ақәҧаҩ Лондон имҩаҧысран иҟоу Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы Урыстәыла азы дықәгылоит.

 

24 шықәса зхыҵуа ақәҧаҩ Аолимпиатә хәмаррақәа ҟалаанӡа имҩаҧысуаз Урыстәыла ачемпионат аҿы афиналтә қәҧараҿы Адам Саитиев дииааит.

 

Хынтә Европа ачемпион ҩ-раундк рҿы даииааит, уажәшьҭа иара Олимпиатә хәмаррақәа рҿы 74 кьыла иҟоу рыбжьара дықәҧалоит.

 

Царгәыши Саитивеи рыбжьара ақәҧара зегь реиҳа ипринципиалтәу ҳәа иҧхьаӡан. Аолимпиатә чемпион Адам Саитиев ҳазҭоу ашықәас азы ауп аспорт ахь даныхынҳәыз, иаразнак еилкаахеит Лондон ацаразы иқәгылоу ақәҧаҩцәа рыбжьара дшыҟалоз.

 

Ҳазҭоу ашықәс азы ари раҧхьатәи еиҧылараӡам Царгәыши Саитиеви рыбжьара. «Иван Иарыгин» игран-при аҿы Денис Царгәыш афиналтә еиҧылараҿы Саитиев дииааит.

 

25.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Лаҵарамза 22 Венесуела иҟоу Аҧснытәи аделегациа аҭааит Боливариантәи Ареспублиа Венесуела Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу еицырдыруа Ахәыҷтәы кардиологиатә центр

 

Лаҵарамза 22 Венесуела иҟоу Аҧснытәи аделегациа аҭааит адунеи аҿы еицырдыруа Боливариантәи Ареспублиа Венесуела Агәабзиара ахьчара аминистрра иатәу Ахәыҷтәы кардиологиатә центр. Ари ахәышәтәырҭатә центр аҟны акардиологиатә чымазарақәа змоу ахәыҷқәа рхәышәтәуеит, урҭ рҭаацәареи дареи еицышьҭазарц аҭагылазаашьақәа ыҟоуп. Ацентр аҟны араион иазхаша ахирургиатә кадрқәа разыҟаҵара мҩаҧысуеит. Ахәышәтәырҭа аиҳабыра рҧылараан Венесуела агәабзиара ахьчара аиҿкаара асистемеи хәыда-ҧсада амедицинатә цхыраара рыҭара асистемеи русура иазааҭгылеит. Аҧснытәи ахәыҷқәа ари ацентр аҟны рҽырхәышәтәлартә еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵара иазку аиқәшаҳаҭра алацәажәара ахацыркразы аамҭа алырхит. Аҭаара ахыркәшамҭаз аҧсуа делегациа алахәылаҩцәа Венесуела ахәыҷқәа рыхәышәтәразы ацентр аҟны ршьа арҭеит.

 

Иара уи аҽны Аҧснытәи аделегациа Венесуела Амилаҭтә Ассамблеиа – азакәанҧҵаратә орган (апарламент) иаҭааит, «Аҧсны–Венесуела апарламенттә еиҩызара агәыҧ» ааҧхьарала. Адепутатцәеи, анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәеи злахәыз агәырҕьаратә еиҧылара аартраан дықәгылауа, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихыҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит: «Ҳара ҳақәгәыҕуеит ҧхьаҟагьы Аҧсныи Венесуелеи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы адепутатцәа ацхыраара рлагала рацәахоит ҳәа. Венесуела азхаҵара иҳанаҭаз ахә ҳаракӡаны иаҳшьоит, агәра шәсыргоит шәтәыла Ахадеи уи атәылауааи ари рыӡбамҭа зегь рыла ишиашаз. Ҳара уи азы шаҳаҭс иааҳгар ҳалшоит ҳҳәынҭқарра аҿиара мҩа анызаара, уи атәылауаа рыҧсҭазаара есааира аиҕьхара. Венесулатәи ажәлар реиҧш ҳаргьы ахақәиҭреи, ахатәҳәаақәҵареи, аиҟарареи, асоциалтә иашареи ридеалқәа ҳарзықәҧоит. Оппонентцәас иҳамоу рганахьала ауадаҩрақәа шыҟоугьы, Аҧсны Аҳәынҭқарра хымҧада жәларбжьаратәи азхаҵара аиуеит. Венесуелатәи аешьаратә жәлар рыцхыраара иабзоураны ҳара ҳамчқәа еиҳангьы рыгәра ҳго ҳҟалоит».

 

И. Хынҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсныи Венесуелеи русеицура аиқәшаҳаҭра-зинтә база арҕәҕәараҿы Амилаҭтә Ассамблеиа иааннакыло аҭыҧ шдуу.

 

Амилаҭтә Ассамблеиа аҭоурыхтә хыбраҿы аекскурсиеи, амассатә-информациатә хархәагақәа рзы апресс-конференциеи анхыркәшаха ашьҭахь, Аҧснытәи аделегациа изаамҭанытәиу апарламенттә сессиа ахьцоз аилатәаратә зал иҩналеит. Венесуела Апрламент аиҳабы Диосдадо Кобельо аизара аанкыланы, адепутатцәа реиҳараҩӡак игыланы рнапқәа ззеинырҟьоз Аҧсны ахаҭарнакцәа ирызкыз адныҳәалара даҧхьеит.

 

24.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи Аџьар ҟаԥшь Жәларбжьаратәи акомитет ахада Лиук Хааси реиԥпылара мҩаԥысит

 

Имҩаҧысит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи Аџьар ҟаҧшь Жәларбжьаратәи акомитет ахада Лиук Хааси реиҧпылара. Аиҧылараҿы ҷыдала иазааҭгылан «Хабарда ибжьаӡыз» захьӡу апрограмма аусура, иара убас егьырҭ азҵаарақәагьы. Лиук Хаас Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҕба «Хакки Чиллиоглу» арныҟәцаҩцәа ҧшьҩык ақырҭуа ган арыҭаразы имҩаҧнагаз акциақәа рыхә ҳаракны иишьеит.

 

Аминистр агәыҕра ааирҧшит агуманитатә зҵаарақәа рҿы Аҧсныи Аџьар ҟаҧшьи русеицура ҧхьаҟагьы иацҵахап ҳәа.

 

24.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Лаҵарамза 21 Каракас ақалақь аҟны Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистрцәа рхаҭыҧуаа рыҩыӡараҿы имҩаҧысит аҧсуа гани венесуелатәи агани реиҧылара

 

Лаҵарамза 21 Каракас ақалақь аҟны, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистрцәа рхаҭыҧуаа рыҩыӡараҿы аҧсуа гани венесуелатәи агани реиҧылара мҩаҧысит. Аҧснытәи аделегациа, уи аиҳабы Иракли Хынҭәба инахыс, иалахәын Венесуелеи Никарагуеи иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гәаџьаа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аҧсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, иара убас Латинатәи Америкеи Азиеи Аокеан ҭынчи ррегион аҟәша аиҳабы Адгәыр Чегиа.

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәбеи венесуелатәи уи иколлега Темир Порраси еицырзеиҧшны аинтерес ахьрымоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Хаҭала иазааҭгылеит Венесуелеи Аҧсныи ахырхарҭақәа зегь рыла русеицура алзыршо аиқәшаҳаҭратә база аизырҳара азҵаара.

 

И. Хынҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны азы Венесуела иара арегион аҿы иааннакыло аҭыҧ шдуу, еиҳаракгьы ихьыҧшым хырхарҭла аҿиара амҩа ылызхуа аҳәынҭқаррақәа реилазаара ALBA аҟны. Аганқәа рполитикатә еизыҟазаашьақәа реизырҳараҿы арезервқәа шыҟоу азгәарҭеит, жәларбжьаратәи аренаҿы аусеицурагьы уахь иналаҵаны.

 

И. Хынҭәбеи Т. Порраси ргәаанагарақәа еибырҳәеит ахәаахәҭреи, аекономикатә ҿиареи, акультуреи, аҵарадырреи русхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара иазкны. Аҧснынтәи астудентцәа Венесуела иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы рҵареи, Аҧсны аиспан бызшәа арҵаразы аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи иазкны иконкреттәу ашьаҿақәа азгәаҭан. Аҧсныи Венесуелеи рыдәныҟатәи аминистрцәа рхаҭыҧуаа инаҵшьны иазгәарҭеит Венесуелеи Аҧсныи рыбжьара ауаҩышәаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иҷыдоу аҵакы шамоу.

 

Иракли Хынҭәба Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр А. Мадуре официалтә визитла Аҧсны даҭаарц Виачеслав Чрыгба иҟаиҵаз ааҧхьара изынаицҳаит. Т. Поррас уи инамаданы иазгәеиҭеит аполитикатә еиҿцаарақәа рыҿиара аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраауа, убри аҟнытә Венесуела ари авизит ахә ҳаракны иашьоит ҳәа.

 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Иракли Хынҭәба ҳамҭас Темир Поррес ииҭеит Аҧсны аухәамақәа рсахьақәа зну араӡын иалху аҧсарқәа, Аҧсны аиҳабыра аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара ишашьҭоу азгәаҭауа.

 

Латинатәи Америкахь аҧсуа делегациа рвизит арҭ амшқәа рзы амҩаҧысра иаҿуп.

 

22.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхантәаҩцәа иааираны иҟоу аиҧылара азҵаарақәа ирылацәажәеит

 

Лаҵарамза 10 Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхантәаҩцәеи реиҧылара.

 

Ахантәаҩцәа Филипп Лефор (Евро-Еидгыла), Падриг Мерфи (ОБСЕ), Анти Турунен (ООН) уи азы Аҧсныҟа иааит.

 

Аиҧылара ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаҧысит. Иара анхыркәшаха ашьҭахь Филипп Лефор ажурналистцәа ирылеиҳәеит ари «рашәарамза алагамҭазы имҩаҧысраны иҟоу изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа ҟалаанӡатәи еиҧылароуп» ҳәа.

 

«Аиҿцәажәарақәа ирызку азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит, Аидысларақәа раҧырҟәҟәаареи рнырреи азы Амеханизм азҵаарагьы уахь иналаҵаны. Иара убас, уажә имҩаҧысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рзы Виачеслав Чрыгба игәаанагарагьы еилаҳкааит», – иҳәеит Евро-Еидгыла аҟынтәи ахантәаҩы. Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбагьы иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа традициала Женеватәи аиҿцәажәарақәа раҧхьа ишымҩаҧысуа. «Женеватәи аиҿцәажәарақәа ааигәахацыҧхьаӡа ахантәаҩцәа ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа мҩаҧыргоит Аҟәа, Цхинвал, Қарҭ, Москва ақалақьқәа рҿы. Аха ҳара иҷыдоу аҭагылазаашьа ҳамоуп, Аидысларақәа раҧырҟәҟәаареи рнырреи азы Амеханизм акәша-мыкәша ишьақәгылаз акризис иахҟьаны. Ҳара даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәаҳҭеит Евро-Еидгыла анаҧшыҩцәа рмиссиа аиҳабы Анджеи Тышкевич иганахьала иҳамоу позициа шыпринципиалтәу, аҧсахрагьы ҳгәы ишҭам. Акомпромисс ҳақәшаҳаҭхаӡом, избанзар ҳпозициа зеиҧшроу инҭкааны иаҳҳәахьеит».

 

Чрыгба иажәақәа рыла, «аҧсуа ган Женеватәи апроцесси, Гал имҩаҧысуаз хә-ганк реиҧыларақәеи ишрыдгылоу аанарҧшит, аха ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны, урҭ уажәы рылахәхара залнаршом».

 

Уи адагьы, аиҧылараан иалацәажәон хара имгакәа имҩаҧысран иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны иазгәаҭоу азҵаарақәа ртәы, ҳәа иҳәеит аминистр. «Раҧхьаӡа иргыланы, Аҧсныи Аахыҵ Уаҧстәылеи иҟарҵаз азыҳәара иабзоураны аоккупациа атемала аинформациатә сессиа мҩаҧысуеит. Ҳара иҳаҳар ҳҭахуп жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны аоккупациа иаҵанакуа, избан акәзар Қырҭтәылеи Америкеи изларҧхьаӡо ала, Аҧсныи Аахыҵ Уаҧстәылеи аоккупациа иаҭаку тәылақәоуп. Ас еиҧш аҳәамҭақәа рыҟаҵара жәларбжьаратәи азин ала иахьынӡаиашоу еилаҳкаар ҳҭахуп, – ҳәа азгәеиҭеит Чрыгба. – Насгьы, ҳара иааҳарҧшыз аинициативала, аиҿцәажәарақәа рҟны иазааҭгылоит ақырҭуа неитралтә тәылауаҩшәҟәқәа рызҵаареи, Евро-Еидгыла авизатә политика азҵаареи. Ишдыру еиҧш, Европеи Америкеи Аҧсны атәылауаа авизақәа рырҭаӡом аҧсуа тәылауаҩшәҟәқәа рылагьы, аурыс тәылауаҩшәҟәқәа рылагьы. Аиҿцәажәарақәа раан абри азҵаарагьы ҳалацәажәарц ҳгәы иҭоуп».

 

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит рашәарамза 7-8 рзы. Рашәарамза 7 рзы аинформациатә сессиа мҩаҧгахоит, 8 рзы – аиҿцәажәарақәа рхаҭақәа.

 

10.05.2012  Аҧсныпресс

 

 Афашизм Аиааира амш азы «Италиа-Аҧсны» Ассоциациа Ахада Мауро Мурџиа Пезаро ақалақь аҟны афашизм ақәҧараан иҭахаз италиатәи апартизанцәа рбаҟаҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит

 

Афашизм Аиааира амш азы «Италиа-Аҧсны» Ассоциациа Ахада Мауро Мурџиа афашизм ақәҧараан иҭахаз италиатәи апартизанцәа Пезаро ақалақь аҟны игылоу рбаҟаҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит. «Джузеппе Гарибальди» захьӡыз италиатәи афашизм ақәҧаҩцәа рбатальон далан ҳара ҳтәылауаҩ Султан Папбагьы. Ихы дамеигӡакәа, гәымшәарыла аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа уи анацистцәа драбашьуан.

 

09.05.2012  Аҧсныпресс

 

 В. Чрыгбеи Алада Кавказ иҟоу Евро-Еидгыла ахаҭарнак ҷыдеи реиқәшәара

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧысит аминистр В. Чрыгбеи Алада Кавказ иҟоу Евро-Еидгыла ахаҭарнак ҷыда Ф. Лефори реиқәшәара. Аиҧылараҿы ирзааҭгылан Аидысларақәа раҧырҟәҟәаареи рақәҿыҭреи рзы Амеханизм акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ажәалагалақәеи, аидеиақәеи. Иара убасгьы ирзааҭгылан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Евро-Еидгылеи реимадара аперспективақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

 

04.05.2012  Аҧсныпресс