AҦCУAA  PЫБЖbbI
                                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт


 

 Аҧсны аделегациа алахәуп Туаҧсе имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи аконференциа “Акзаарала иалыршоу Аиааира ду: Кавказ аибашьра ашықәсқәа рзы”

 

Аҧсны аделегациа алахәуп Туаҧсе имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи аконференциа “Акзаарала иалыршоу Аиааира ду:Кавказ аибашьра ашықәсқәа рзы”. Аконференциа мҩаҧысуеит Урыстәыла Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгарала. Уи аҧшьгаҩцәас иамоуп – икоммерциатәым аиҿкаарақәа “Агәҳалалратә усеицура Ацентри” “Евразиатәи аҭҵаарақәа Ринститут” Афонди.

 

Аконференциахь иааит аҵарауаа-аҭоурыхҭҵааҩцәа, Аибашьра Ду аветеранцәа, Урыстәыла жәа-регионк рсбарҭақәа рхаҭарнакцәеи, Аахыҵ Кпвказ хә-ҳәынҭқаррак – Аҧсны, Азербеџьан, Ермантәыла, Қырҭтәыла, Аахыҵ – Уаҧстәыла рхаҭарнакцәеи.

 

Аҧсны аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: аибашьреи, аџьеи, арбџьрмчқәеи аветеранцәа рреспубликатә Хеилак ахантәаҩы Алеқсандр Ҭариа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Страничкин,Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Альберт Овсепиан, “Евразиатәи аҭҵаарақәа ринститут” аҿиара афонд аҧсуа филиал адиреқтор Сократ Џьынџьал, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыҧуаҩ Данил Убириа, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә унивирситет Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҭоурых акафедра аиҳабы Резо Кациа.

 

Ҩымштәи аконференциа аартын  афырхацәа Иҿымцәаауа рымцаҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониала. Уи ашьҭахь иалагеит апленартә еилатәареи, асекциақәа рыҟны аусеицуреи.

 

Аконференциа алахәцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит арегионбжьаратәи акәльтуратәи еимадарақәа рзы Урыстәыла Афедерациа Апрезидент иусбарҭа аиҳабы Сергеи Винокуров.

 

Сократ Џьынџьал апленартә еилатәараҟны дықәгылеит “Аџьынџьтәылатә еибашьра ду – ҳаамҭазтәи Кавказ азы ирҵагоуп”.

 

Иазгәаҭоуп иара убас аҧсуа делегациа алахәцәа ражәахәқәа. Алеқсандр Ҭариа дықәгылоит “Аҧсуа еибашьцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду адәқәа рыҟны” ажәахә ала, Резо Кациа – “Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иааннакыло аҭыҧи, уи афырхацәа аҧсуаа рҭоурыхтә хдырраҟны”.

 

30.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь: Маи 9 еснагь иныҳәамшын, ус иагьаанхоит, еиҵагыло абиҧара ҿа радыҧхьаларагьы ҳуалҧшьоуп

 

Аҧсны аҽазыҟанаҵоит Аиааира ду 65 шықәса ахыҵра амшныҳәа азгәаҭара. Убри инамаданы иазгәаҭоуп аусмҩаҧгатәқәа жәпакы, - иҳәеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь апресс-конференциаҟны.  Иазгәаҭоуп аветеранцәа рҧыларақәа, урҭ аматериалтә цхыраара рыҭара, аныҳәатә еилатәарақәа рымҩаҧгарақәа, афеирверкқәа. Ақалақь азыҟарҵоит, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа ирҭаауеит, идрыцқьоит.

 

“Аамҭақәа цоит, ирацәоуп аҿыццәырҵрақәа, аха ажәлар рҿы иҟазароуп есымшагьы иҿымцәаауа аибашьра агәаларшәара”, - иҳәеит Багаҧшь.

 

Аҧсназы, Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, маи 9 есымшагьы ныҳәан, ус иагьаанхоит, абиҧара – ҿа уи аныҳәа радыҧхьаларагьы ҳуалҧшьоуп.

 

“Ҳара ари аныҳәа мҩаҧаҳгоит иреиҳау аҩаӡараҟны”, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

29.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәынҭқарра Ахада: Ҳазҭоу ашықәс азы Очамчыра ақалақь инаркны Галынӡа амҩа арҽеира 250 миллион мааҭ ақәхарџьра азҧхьагәаҭоуп

 

Ҳазҭоу ашықәс азы Очамчыра ақалақь инаркны Галынӡа амҩа арҽеира 250 миллион мааҭ рҟынӡа ақәхарџьра азҧхьагәаҭоуп. Урыстәыла Афедерациа Аҧсны асоциал- аекономикатә ҿиаразы иазҧхьагәанаҭаз афинанстә цхыраара шҳауз еиҧш, амҩа арҽеира нап аркхоит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь апресс-конференциаҟны.

 

Гал араион атуристцәа рзы ишыҧсшьарҭа ҭыҧымгьы, амҩа бзиа иаднаҧхьаларц ауеит ари араион иаҭаарц зҭахыу аҧсшьацәа.

 

29.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Багаҧшь: “Ареспублика амчрақәа ииашаны иазырыӡбеит Аҧсны аҳәынҭҳәаақәа еилахәны ахьчараз Аиқәшаҳаҭра анапы ахьаҵарҩыз”

 

“Аҧсны амчрақәа ииашаны иазырыӡбеит Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа арахь ааҧхьара ахьрырҭаз, Аҧсны аҳәынҭҳәаақәа еицеилахәны ахьчараз Аиқәшаҳаҭра анапы ахьаҵарҩыз”, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, урыстәылатәи еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа ржурналистцәа рзы имҩаҧигаз апресс-конференциаҟны.

 

Мшаҧымза 30 рзы иҵуеит шықәсык Аиқәшаҳаҭра анапы аҵуаҩуижьҭеи.

 

“Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аҧсны аҳәаақәа рыдагьы ирыхьчоит урыстәылатәи аҳәынҭқарра. Ҳара урҭ арахь ааҧхьара раҳҭеит аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҟаларазы. Араҟа Аҧсны азҵаара мацара акәӡам – Кавказ зегьы ааидкыланы аҭагылазаашьа шҿио ауп аус. Убри инадҳәаланы, ари азҵаара ҳреспублика аҳәаақәа ирҭыҵуеит”. – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

Иарбан ҭыҧқәоу иахьахылаҧшуа аҧснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа еиахәны ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо Багаҧшь иҳәеит: “аҧсуа ҳәаахьчаҩцәа ҟалоит Егрытәи ацҳаҟни еиҭа аҧхьаҟа аартразы иазгәаҭоу аиасырҭақәа ҧшьба рыҟни. Ҳҳәаахьчаҩцәа гылоит иара убас Ҧсҳәи Аибҕеи рыҟны.”

 

Багаҧшь иажәақәа рыла “Урыстәыла Афедерациа Ашәарҭадаратә маҵзура азыхиоуп Аҧсны атәылауаа рырхәҭақәа рахь ааҧхьара рыҭара, Урыстәыла Афедерациа  аҳәаахьчаратә архәҭақәа рыҟны амаҵзура иахысырц зҭахыу рзы”.

 

Багаҧшь убри аан инаҵшьны иазгәеиҭеит, ареспублика ахатәы ҳәаахьчаратә архәҭақәа рыҿиашьа аҭагылазаашьа ишацклаҧшуа. “Атәылаҟны урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ахьыҟоу, уи школа бзиоуп, ҳаргьы ирҿаҳҵааша рацәоуп”,- иҳәеит уи. Урыстәыла аҧара рацәа азоунажьуеит аҳәаахьчаратә инфраструктура аҿиаразы. Арҭ аструктурақәа рышҟа ҳҿар рнаҧхьара ацхыраара ду ҟанаҵоит уаҟа ироуа аҧышәа ахархәаразы”.

 

29.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаа хә-ҩыуаак ҧхьатәара ишьҭуп

 

Аррамаҵзура ахысра азинлеишәа аҭагылазаашьа инақәыршәаны,ҧхьатәара ишьҭуп Ареспублика Аҧсны атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаа хә-ҩыуаак: аинрал-полковник Анатолии Заицев, аинрал-маиор Закан Нанба, аинрал-маиор Гарри Кәпалба, аинрал-маиор Слава Анқәаб, аинрал-маиор Александр Мельник. Иара убас ҧхьатәара ишьҭуп аполковникцәа Дмитрии Соколов (игәамбзиаразы), Алеқсандр Антипов, Анатолии Горбунов, Заур Адлеиба, Руслан Ҷокәуа, Нодар Какәбаа.

 

Ашәахьаҽны, мшаҧымза 26 рзы, Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Акомандаҟаҵаҩ, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь хаҭала даҭааит атәылахьчара аусбарҭа хада, ҭабуп ҳәагьы реиҳәеит ҧхьатәара ишьҭу аруаа “хьаҳәа-ҧаҳәада инарыгӡоз руалҧшьа ду азы”.

 

Багаҧшь иазгәеиҭеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны Аиааира агареи Аҧсуа ар ашьақәгылараҟни аофицерцәа рылшамҭа дуқәа. Иара иажәақәа рыла, ҧхьатәара ишьҭу ауаа аибашьра мҩа ианысызи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс уадаҩқәа ирхысызи роуп. “Урҭ гылан Аҧсуа ар ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы, иарбан операциазаалак дара рыда имҩаҧысуамызт”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала инаҵшьны илшамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Анатолии Заицев. “Аштабтә усураҟны алеишәеи, Аҧҟаҧҵеи аусура зегьы ааидкыланы адырреи, ари зегь аинрал Заицев илшамҭоуп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Багаҧшь.

 

27.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иаарласны анапы аҵаҩхоит Аҧсни Башкортостани рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра

 

Иаарласны анапы аҵаҩхоит Аҧсни Башкортостани рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра. Абри азы адырра ҟаиҵеит Башкортостан аҧыза-министр Аҟәа ажурналистцәа рзы имҩаҧгаз абрифин аҟны “Ареспублика Башкортостани Ареспублика Аҧсни рыбжьара 2010-2011 шш. рзтәи аусеицура аҿиара аусмҩаҧгатәқәа рплан” анапаҵаҩра ашьҭахь.

 

Азырхиара иаҿуп иара убас Аҟәеи Уфеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра.

 

“Иахьа ҳара иалаҳкааит ҳаинтересқәеи ҳҭагылазаашьақәеи. Башкортостан иҳаднагало ҳара зҿлымҳара дула ҳазниеиуеит. Ҳара ҳазхиоуп Башкортостан аргыларатәи ақыҭанхамҩатәи техникеи раахәара, ҳара иаҳҭахыуп ауаажәларратә транспорт”, - иҳәеит аҧыза-министр Сергеи Шамба.

 

Иара иажәақәа рыла, иҟоуп аҭагылазаашьақәа еилахәу анаплакқәа раҧҵаразы.

 

Аҧсни Башкортостани реимадарақәа ртәы дазааҭгыло, Шамба иҳәеит, 1994 шықәса раахыс арҭ аҩ-республикак рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩы.

 

27.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Башкортостани рҧыза-министрцәа рнапы аҵарҩит ҩ-республикак рыбжьара “Аусеицура аҿиаразы аусмҩаҧгатәқәа рплан”

 

Аҧсни Башкортостани рҧыза-министрцәа Сергеи Шамбеи Раиль Сарбаеви рнапы аҵарҩит “Ареспубликақәа Башкортостани Аҧсни рыбжьара 2010-2011 шш.рзтәи аусеицура аҿиаразы аусмҩаҧгатәқәа рплан”.
 

Анапаҵаҩра аламҭалазы Башкортостан аделегациа, зхадараҿы дыҟаз ареспублика аҧыза-министр Раиль Сарбаев идикылеит аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь.

 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳо, С.Багаҧшь иазгәеиҭеит “Аҧсны азы иуадаҩыз аамҭақәа рзы Башкортостан ганрацәала ацхыраара шыҟанаҵоз”.
 

“Уажәы даҽа аамҭоуп: иаатуеит амҩақәа еилахәу узызҿлымҳахаша аусеицурақәа рзы”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ашьҭахь, шәҩыуаак  инарзынаҧшуа Аҧснынтәи астудентцәа аҵара шырҵоз Башкортостан иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны. Урҭ Аҧсныҟа игьежьит, араҟа аус руеит”.
 

Аиҧылара иалахәыз Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамба, иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны шазҿлымҳау Башкортостан аҟны аусеицура ашьақәыргылара. “Аҧсни Башкортостани итрадициатәу реимадарақәа ироуеит аҿиара ҿыц даҽа ҭагылазаашьақәак рыҟны. Ҳара иахьа иҳамоуп аҭагылазаашьа бзиақәа аусеицура ашьақәыргыларазы, аибашьра ашьҭахь аҧхьатәи ашықәсқәа рзы аасҭа”, - иҳәеит Аҧсны аҧыза-министр.
 

Башкортостан аҧыза-министр Раиль Сарбиев 1994 шықәса рзы ихацыркыз аусеицура ацҵара ишазхиоу азгәеиҭеит. “Башкортостан иҿиоуп анефтехимиа, амашьынаргылара, ақыҭанхамҩа, сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара еицыфеидоу аусеицура шышьақәҳаргылоу ала”, - иҳәеит уи.
 

Сарбиев иазгәеиҭеит, 2007 шықәса рзы Башкортостани Аҧсни рыбжьара атауареиҭарсра ишартәаз 2 миллион мааҭ аҧара, 2009 ш. рзы 300 миллион мааҭ.
 

“Ауадаҩрақәа зегьы ҳашьҭахьҟа иныжьуп, аҧхьаҟа – иаҳзыҧшыуп ҳреспубликақәеи ҳажәларқәеи реизҳа-зыҕьаразы аусура ду”, - иазгәеиҭеит Башкортостан аҧыза-министр Раиль Сарбиев.

 

27.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҽазыҟанаҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 65 шықәса ахыҵра амшныҳәа азгәаҭара

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит аилацәажәара, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 65 шықәса ахыҵра амшныҳәа азгәаҭара аҽазыҟаҵара амҩаҧысшьазы. Аилацәажәара иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Сергеи Шамба, атәылахьчареи, аҩныҵҟатәи аусқәеи, акәльтуреи, аҵареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистрцәа, араионқәа Рхадарақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь Ахада.

 

Аиааира Ду аҭоурыхтә ҵак ҷыда ҳасаб азуны, аҳәынҭқарра Ахада аилацәажәара иалахәыз зегьы ааҧхьара риҭеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ҭакҧхықәра ҳаракыла ирызнеирц. Сергеи Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит ари амш аҽны аветеранцәа зегьы ҷыдала игәцараркырц.

 

Ахадарақәа рнапхгаҩцәа араионқәеи аҳҭны-қалақьи рыҟны Аиааира Амш азгәаҭара аплан дырдырын.

 

Лаҵарамза 9 рзы имҩаҧысуеит амитинг, аҧсуа аррамаҵзуцәа рныҳәатә марш, Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәаҟны иацҵахоит аныҳәатә программа. Ас еиҧш аныҳәа мҩаҧгахоит ареспублика араионқәа зегьы рыҟны.

 

27.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәынҭқарра иарҕәҕәоит ареспубликаҟны амиграциатә процессқәа рхылаҧшразы аусмҩаҧгатәқәа

 

Амиграциатә политика азҵаатәқәа ирылацәажәон иахьа, мшаҧымза 23 рзы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҟны имҩаҧысуаз аилацәажәараҟны.

 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, иарбан тәылазаалак ашәарҭадара шадҳәалоу амиграциатә процессқәа. Ашәҟәы иҭагалалатәуп аҳәаа иахысуа ,Аҧсны атерриториахь иаауа ауааҧсыра. Ареспубликахь иаауа рхыҧхьаӡара есааира еизҳауеит. Аҧсны имҩаҧысуа аргыларақәа инарымаданы, арахь иаауеит ҵҩа змам аусуцәа. Ҳара иаадыруазароуп урҭ арахь изаауа, хықәкыс ирымоу. Арҭ зегьы макьаназы ишымҩаҧысуа еиҿкаарада ауп”, - иҳәеит Сергеи Багаҧшь.

 

Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп “амиграциа азҵаарақәа иаарласны аҭыҧ иқәҵамзар, уажәшьҭан иҟаларц алшоит ауадаҩра дуқәа”.

 

“Ари азҵаараҟны иахьаҵәҟьа ирҕәҕәатәуп азинлеишәа; ирҕәҕәатәуп, иара убас амиграциатә процессқәа рхылаҧшразы аусмҩаҧгатәқәа”, - азгеиҭеит С.Багаҧшь.

 

С.Багаҧшь аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура анапхгара ааҧхьара риҭеит аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи аимадарақәа рыбжьарҵарц.

 

Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура анапхгаҩы Владимир Аршба иара напхгара зиҭо аструктура аҭагылазаашьа атәы дазааҭгылеит. Иахьазы Аҳәынҭқаратә миграциатә маҵзура аҟны аус зуа ааҩыуаак роуп. Макьаназы амиграциатә маҵзура аҧҵара-аиҿкааратә етап аҟны ауп иахьыҟоу.

 

Аршба адырра ҟаиҵеит иара убас, Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура Урыстәыла Афедералтә миграциатә маҵзураҟны аимадарақәа шышьақәнаргыло.

 

Аилацәажәара алахәцәа иазгәарҭеит аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура арҕәҕәаразы хықәкылатәи аусмҩаҧгатәқәа. “Амиграциатә маҵзура аҧҵоижьҭеи дук ҵуам. Ҳара ҳхықәкы – уи ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны ацхыраара аҭароуп”, - иҳәеит Багаҧшь.

 

Аилацәажәара иалахәын Аҧыза-министр Сергеи Шамба, ареспублика амчратә структурақәеи, Адәныҟатәи Аусқәа  рминистрреи, агәабзиарахьчара аминистрреи рнапхгаҩцәа.

 

23.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Адиле Аббас-оглы 90 шықәса лхыҵра аламҭалазы “Ахьӡ-аҧша” аорден ланаишьеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь

 

Аҧсны еицырдыруа аҧҳәыс Адиле Аббас-оглы мшаҧымза 23 рзы илхыҵит 90 шықәса. Уи авторс дамоуп ареспублика анапхгаҩы Нестор Лакоба иҭаацәа рҭоурыхи, иҧсҭазаареи, лара лҭаацәа зегьы ықәызгаз арепрессиатә шықәсқәа ирызкыу ашәҟәы “Сара с-Аҧсны – сара сыҧсҭазаара” захьӡу.

 

Адиле, Сариа Лакоба лашьа – Гамид Джих-оглы иҧшәма лакәын, 17 шықәса анылхыҵуаз, арепрессиақәа ирыхҟьаны деибахеит. Лыҧшма Аҟәатәи Агидрофымцатә станциа аргылараҟны аус зуаз хара имаӡамкәа дырбаандаҩын, иара уаҟагьы иҧсҭазаара далхын. Уи ашьҭахь дырбаандаҩын лара лхаҭагьы. Абаандаҩра, абахҭа, ахыгара, абналара, ҵыхәаҧҵәара змамыз ашьклаҧшрақәа, аҧышәара абарҭқәа зегьы риааира лыллыршеит.

 

Адиле Шахбас-иҧҳа лиубилеи аламҭалазы лышҟа сасра имҩахыҵит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, апарламент адепутат Зураб Адлеиба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Григории Еныкь.

 

Сергеи Багаҧшь аиуиблиар ҳамҭас ашәҭқәа ланашьо илзеиҕьеишьеит агәабзиара.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит “арепрессиақәа раан илыллыршаз ахачҳареи иаалырҧшыз афырҧҳәысреи” рзи, иара убас 90 шықәса лхыҵреи инарымаданы аусҧҟа шыҭижьыз атәыла иреиҳау аҳамҭа ланашьаразы. Сергеи Багаҧшь Адиле Аббас-оглы иланаишьеит “Ахьӡ-аҧша” аорден аҩбатәи аҩаӡара. “Шәара, ари аорден зегь раасҭагьы иаҧсоу шәоуп”. Ишәхыжәгаз ауадаҩрақәа зегь рышьҭахьгьы, шәара иахьагьы аџьа жәбоит”, - иҳәеит Сергеи Багаҧшь.

 

Адиле Шахбас-иҧҳа Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭалҳәеит акыр аинтерес зҵаз ажәабжьқәа ихылҵшьҭра аҭоурых аҟынтә.

 

“Ижәдыруаз, сажәақәа шәгәалашәыршәала, иҟалалакгьы, Аҧсны ахааназ ишҭамхо. Уи еснагь ишәҭыкакаҷлоит”, - азгәалҭеит Адиле Шахбас-иҧҳа.

 

“Адиле Аббас-оглы лышәҟәы “Сара с-Аҧсны-сара сразҟы” раҧхьаӡа акәны иҭыжьын 2005 шықәса рзы. 2008 шықәса рзы ашәҟәы ҭыжьын Стамбул, аҭырқәшәахь еиҭаганы, аҭыжьра иазырхиоуп авенгер бызшәахь еиҭаганы, иазҧхьагәаҭоуп иара убас Англиа, Франциа, Германиа, Италиа рҭыжьразы”.

 

2009 шықәса рзы аҭыжьырҭа АСТ иҭнажьит ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа, уи харҭәаан адокәментқәеи уаанӡа ицәыргамыз афотосахьақәеи рыла.

 

23.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихантәаҩрала имҩаҧысит иааиуа акәрорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкыз Аминистрцәа реилазаара инарҭбаау аилатәара

 

Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ихантәаҩрала имҩаҧысит иааиуа акәрорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкыз Аминистрцәа реилазаара инарҭбаау аилатәара. Аилатәара аусура иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Нугзар Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Григории Еныкь, ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи Рхадарақәа реиҳабацәа, иара убас урыстәылатәи ахылаҧшырҭақәа жәпакы рхаҭарнакцәаа.

 

Аилатәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, иааиуа акәрорттә сезон аҽазыҟаҵара ҭакҧхықәрала ишазнеитәу. Убри аан аҳәынҭқарра Ахада аминистррақәеи ахылаҧшырҭақәеи рнапхгаҩцәа анапынҵа риҭеит, иаҳхысыз ашықәсқәа рызтәи агхақәа азгәаҭаны, ишаҧҵатәу атуристцәа ишахәҭоу еиҧш рыҧсшьара аиҿкааразы аҭагылазаашьа бзиақәа.

 

Акәрортқәеи атуризми рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Ҭенгиз Лакербаи 2009 шықәсазтәи акәрорттә сезон алыҵшәақәа еихшьаало, асезон ҿыц аҽазыҟаҵара амҩаҧысшьа дазааҭгылеит. Уи иазгәеиҭеит, ҵыҧхтәи акәрорттә сезон алыҵшәа шамаз, адунеитә финанстә кризис анырра шыҟанаҵозгьы. Лакербаиа игәаанагарала, ас еиҧш алыҵшәа алыршахеит аӡыргаратә (арекламатә) еилахәыреи ахәҧсатә политикеи ирыбзоураны. Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иажәақәа рыла, аобиектқәа жәпакы рыҟны иахьа уажәраанӡагьы акризистә аамҭақәа рзынӡатәи ахәҧсақәа шыҟоу. Ҭенгиз Лакербаи ишиҳәаз ала, сынтәатәи акәрорттә сезон ҿыц азы ҵыҧх аасҭа аҧсшьацәа рхыҧхьаӡара акырӡа еиҳахап ҳәа иазыҧшыуп. Иара иажәақәа рыла, иазҧхьагәаҭоуп атуристтә маршрут ҿыцқәа раартра.

 

Аҳәынҭеилакы “Аҧсныавтомҩақәа” рдиреқтор хада Л.Лолуа еиҭеиҳәеит атуристтә маршрут хадақәа ахьымҩаҧысуа араионқәа рыҟны амҩақәа рырҽеирақәа шымҩаҧысуа атәы.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Оҭар Хециа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, напгара зиҭо ахылаҧшырҭа аус шаднаулаз азинеилагаҩцәа рҿагыларазы аплан.

 

Агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан аилатәара алахәцәа идирдырит аҧсшьацәа ргәабзиара аиқәыршәаразы иазҧхьагәаҭоу апланқәа. Аҳәынҭқарра Ахада агәабзиарахьчара аминистри Гагра араион Ахадеи анапынҵа риҭеит иаарласны араионтә станциа ацхыраара ласы аусура аҩаӡара ашьҭыхразы азҵаара аҭыҧ ақәҵаразы. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ацхыраара ласы амашьына ҿыцқәа аахәаразы афинанстә цхыраара шыҟаиҵо.

 

Аилатәараҟны иара убас иқәгылеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистри аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аиҳаби.

 

Аиҳабыра реилатәара алыҵшәақәа еихшьало, Аҳәынҭқарра Ахада агәыҕра ааирҧшит араҟа иазгәаҭаз агха-ҧхақәа ҳасаб рзуны аҭыҧ ишықәҵахо ала.

 

21.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Шамбеи Р.Вагапови алацәажәеит Ареспубликақәа Башкортосҭани Аҧсни рыбжьара 2010-2011 шш.рзтәи аусеицура аҿиара аусмҩаҧгатәқәа рплан

 

Ареспубликақәа Башкортосҭани Аҧсни рыбжьара 2010-2011 шш.рзтәи аусеицура аҿиара аусмҩаҧгатәқәа рплан алацәажәара иазкын Аҧсны Аҧыза-министр Сергеи Шамбеи Ареспублика Башкортосҭан ааглыхреи адәныҟаекономикатәи еимадарақәеи рминистр ихаҭыҧуаҩ Роберт Вагапови Иаркыу Акционертә еилазаара “Ивановское” адиректор хада Виталии Антонов- Дружинини русуҩтә еиҧылара.

 

Аиҧылараҟны иара убас иалацәажәеит Ареспублика Башкорҭосҭан Аҧыза-министр Рауль Сарбаев Аҧсныҟа иаара иадҳәалоу азҵаатәы. Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит аиҳабыра рпесс-маӡаныҟәгаҩ Рубен Миграниан.

 

19.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҧыза-министр Сергеи Шамбеи Никарагәуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопеси ықәгылоит еицыфеидоу аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы

 

Аҧсны Аҧыза-министр Сергеи Шамба диҧылеит официалтә визитла Аҧсны иааны иҟоу Никарагәуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопес.

 

Шамба иазгәеиҭеит, Аҧсны Никарагәуа жәлар рахь ирымоу азыҟазаашьа бзиа.

 

“Ҳара ҳтәылақәа еицәыхароуп, аха ахақәиҭреи ихьыҧшым адемократиатә ҳәынҭқарра аргылареи рзы ҳзеиҧш гәаҳәарақәа ҳтәылақәа еизааигәанатәуеит. Сара исгәалашәоит ахақәиҭраз ақәҧара ашықәсқәа. Ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ҳақәҧараҿы Даниель Ортега ҳара ҳзын дҿырҧшын”, - иҳәеит Шамба.

 

Аҧыза-министр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла ашьҭахь Аҧсны ахьыҧшымра шазханаҵаз Никарагәуа.

 

Шамба иажәақәа рыла, ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иаҭахыуп азеиҧш проектқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны аекономикатәқәагьы. “Ҳара ҳақәгылоит еицыфеидоу аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы. Аҧсны азхаҵара иаанартит ари аус аҟны аҭагылазаашьа ҿыцқәа”, - иҳәеит аиҳабыра рада.

 

Шамба иара убас игәаанагара иҳәеит Никарагәеи Аҧсни рыбжьара акәльтуратә еимадарақәа рырҕәҕәаразы.

 

“Аҧсны Никарагәуа иазҿлымҳауп. Азхаҵара ашьҭахь ҳара уахь ддәықәаҳҵеит ҳхаҭарнак. Уи еизигеит афотоматериалқәа рацәаны, урҭ иахьа ацәыргақәҵаҿы иаҳбараны ҳаҟоуп”, - иазгәеиҭеит аҧыза-министр.

 

Иара убас Никарагәуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Аҧсны анапхгареи ажәлари рыдгыларазы Даниель Ортега иаацҳамҭа иҳәеит. Самуель Сантос Лопес иҳәеит, арахь иаара хықәкыс ишамоу еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны аизыҟазаашьақәа рыҿиара. “Сара агәра згоит, уи гәык-ҧсык ала ишыҟаҳҵо. Уи азы иаҧҵоуп ашьаҭа бзиа – ҳаиҩызареи ҳаизыҟазаашьа бзиеи”,– инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

 

16.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Никарагәуа Апрезидент Даниель Орегеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопеси иранашьоуп Ареспублика Аҧсны иреиҳау аҳамҭақәа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Иусҧҟала Никарагәуа Апрезидент Даниель Ортегеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопеси иранашьоуп Ареспублика Аҧсны иреиҳау аҳамҭақәа – “Ахьӡ-аҧша” аорденқәа. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Сергеи Багаҧшь Никарагәуа аделегациа рҧылараан, хаҭалагьы аҳамҭақәа инапаҟны ииҭеит Никарагәуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопес.

 

С.Багаҧшь иажәақәа рыла, арҭ аҳамҭақәа ранаишьеит Аҧсны аганахьала Никарагәуаа иаадырҧшыз афырхаҵареи, атәыла амчрақәа иҟарҵо адгыларази.

 

“Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит, Никарагәуа ҳара ҳзын иҟанаҵо, уи анапхгареи ажәлари рҿаҧхьагьы ҳхырхәоит.”, - иҳәеит С.Багаҧшь.

 

16.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика Никарагәуа аделегациа зхадараҿы дыҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопес официалтә визитла Аҧсныҟа иааит

 

Ареспублика Никарагәуа аделегациа зхадараҿы дыҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос Лопес официалтә визитла Аҧсныҟа иааит.

 

Ахьӡ-аҧша Амемориал аҿаҧхьа ашәҭқәа анышьҭарҵа ашьҭахь, аделегациа идикылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь.

 

Асасцәа иҧхаӡа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, “Аҧсны анапхгареи ажәлари Никарагәаа ҭабуп ҳәа рарҳәоит ареспублика ҳреспублика ахьыҧшымра ахьазхарҵаз, аҭакҧхықәрагьы рхы иадырҵоит Урыстәылеи Никуарагәуеи иҟарҵаз агәрагара ду иаҧсахаратәы”.

 

Иара убас Никарагәуа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахада Аҧсны анапхгареи ажәлари рыхьӡала Никарагәуа Апрезидент Даниель Ортега иааицҳаз азеиҕьашьарақәа ртәы дырзааҭгылеит.

 

“Аҧсуаа – ахьыҧшымраз акыр аџьа збахьоу жәларуп. Ҳара даара ибзиан шәеилаҳкаауеит, избанзар ҳаргьы уи амҩа ҳанысхьеит, ҳәарада есымшагьы адгылара шәаҳҭалоит”, - иҳәеит Лопес. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аделегациа Аҟәаҟа раара хықәкыс ишамоу ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура аҧхьаҟа аихаҳара.

 

Никарагәуатәи  адипломат Апрезидент Даниель Ортега ихьӡала Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ааҧхьара ииҭеит, иара иаҳа ианизыманшәалоу аамҭазы Никарагәуа даҭааразы. “Ҳара ҳтәыла шәанаҭаалак еиҳагьы еилышәкаауеит никарагәуа ажәлар аҧсуа жәлар шаҟа пату рықәырҵо”, - иҳәеит Лопес.

 

С.Багаҧшь аҳәара ҟаиҵеит Никарагәуа Апрезидент иҟаиҵаз ааҧхьаразы ҭабуп ҳәа иарҳәаразы, иагьазгәеиҭеит “ари атәыла ҧшӡа аҭааразы хымҧада аамҭа шиҧшаауа ала”.

 

“Ҳара ҳтәылақәа рыбжьара еицыфеидоу аизыҟазааьақәа рырҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа ҳамоуп. Ҳара территориала ҳаицәыхаразаргьы, уи дук иаҳҧырхагам аиҿцааразы”, - иҳәеит С.Багаҧшь.

 

“Ҳара адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аиҳабыреи анапынҵа раҳҭоит аекономикатәи адәныҟаполитикатәии усеицура ахырхарҭа хадақәа аус рыдыруларазы”.

 

16.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа адепутатцәа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа адепутатцәа. Аделегациа аилазаараҟны – Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа Матиас Еорси Девид Уилшири, Анаҧшратә Департамент ахада Агнежка Начилои ауаҩы изинқәа рзы абжьагаҩ Сабрина Буешери.

 

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит аҭагылазаашьа аҭҵаара хықәкыс ишрымоу. Аделегациа иара убас аиҧыларақәа мҩаҧнагахьеит Қырҭтәыла, иааиуа амчыбжь алагамҭазы иаҭаауеит урыстәыла аҳҭны-қалақь.

 

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа идеилиркааит Аҧсны аҭагылазаашьа, ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы ареспублика анапхгара рпозициа. С.Багаҧшь ишазгәеиҭаз ала, аҧсуа ган алахәуп женеватәи абжьгарақәа, аха урҭ лыҵшәа рыманы ирбом. Ареспублика Ахада ҧсыхәа шамам азгәеиҭеит, Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аибашьра аиҭамырҿыцразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩымзар.

 

Мраҭашәаратәи атәылақәа рпозициа дазааҭгыло, Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит, урҭ ажәаҟны мацара шакәуу ауаҩы изинқәа рыхьчараз иахьықәгыло, аусаҟны Қырҭтәыла ажәалагалақәа Аҧсны аекономикатә еимадарақә раанкыларазы адгылара арҭоит.

 

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнакцәа агәыҕра ҟарҵеит, Аҧсни Қырҭтәылеи рвизитқәа рылҵшәақәа рыла иобиективтәу ажәахә шаздырхио ала.

 

15.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гал имҩаҧысит ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи анырра рзыҟаҵареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны хә-ганктәи аиҧылара

 

Мшаҧымза 13 рзы Гал ақалақь аҟны имҩаҧысит  ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи анырра рзыҟаҵареи рзы  амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны хә-ганктәи а-15-тәи аиҧылара. Аиҧылара мҩаҧысуеит ООН ахантәаҩрала аҧсуа, ақырҭуа, аурыс ганқәеи, Евроеидгыла Анаҧшратә миссиеи алархәны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра  апресс-маҵзура.

 

Раҧхьаӡа акәны, аиҧылара далахәын ООН ахаҭарнак ҿыц Анти Трунен.

 

Аҧсуа ган Отобаиа ақыҭа азааигәара иҧшааз артҟәацгатә маҭәашьар азы азҵаара шьҭнахит. Аҧсуа ган аҳәамҭа ҟанаҵеит “ уи азы аарак шрыдрымҵо, аха убри аан иазгәарҭеит Қырҭтәыла аганахьала ас еиҧш апровокациақәа шҿыцрам”.

 

Аҧсуа делегациа агәҭынчымра шрызнарҵысуаз рҳәеит, Аҧсны иаҿагыло ихаҭәаау асанкциақәа ралагаларазы Қырҭтәыла анапхгара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь хыҧхьаӡара рацәала иҟарҵо ааҧхьарақәа . Ари афакт аҧсуа ган агәаанагарала, арегион аҟны иҭышәынтәалам аҭагылазаашьа аҧҵара хырхарҭас иамоуп.

 

2010 шықәса, хәажәкыра 5 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Жәларбжьаратәи Амшынтә Еиҿкаарахь ажәанҵа (анота) дәықәнаҵеит Аҧсны амшынӡқәа рахь аҕбақәа рынамышьҭразы. Убри алагьы, Қырҭтәыла аҽазнашәоит Аҧсны иарбан коммуникациазаалак, амҩатә акәзааит аинформациа атәы акәзааит рҧышькласра. Ҳәарада, уи Аҧсны  атәылауаа роуп изҧырхагоу”, - ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агрба.

 

Аиҧылараҟны иара убас ишьҭыхын азҵаара Қырҭтәыла амшынҳәаахьчаҩцәа ирҳәынҷаз аидарамҩангага ҕба “Букет” азҵаара. Аҧсуа ган агәы иҭам хә-ганктәи аиҧыларақәа рымшхәаҧштә аҟынтә ари азҵаара алгара, уи ҵыхәаҧҵәала иӡбахаанӡа.

 

Аха ақырҭуа ган мап ацәнакит ари азҵаара алацәажәара, уи зусу Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи роуп ҳәа азыҧхьаӡаны. Убасеиҧшҵәҟьа апозициа амоуп Евроеидгыла Анаҧшратә миссиагьы.

 

Аганқәа злеиқәшаҳаҭхаз ала, анаҩстәи аиҧылара мҩаҧгахоит лаҵарамза 5 рзы, Гал ақалақь аҟны.

 

14.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧхынра алагамҭазы Аҧсны атәылауаа рыҭара иалагоит Аҧсуа аҳәаанырцәтәи апаспортқәа

 

Аҧхынра алагамҭазы Аҧсны атәылауаа рыҭара иалагоит Аҧсуа аҳәаанырцәтәи апаспортқәа. Иахьа Аҧсны анапхгара ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит Гознак аҟны иазырхиоу Аҧсуа аҳәаанырцәтәи апаспорт амакет.

 

Аҩашаҽны, мшаҧымза 12 рзы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь имҩаҧигеит Аҧсуа аҳәаанырцәтәи апаспорт  алацәажәара иазкыз аилатәара.

 

Уи иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаа Леонид Лакербаиа, Даур Ҭарба, Беслан Кәбраа, Алеқсандр Страничкин, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиа. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Григории Еныкь.

 

Аҳәаанырцәтәи апаспорт аус адулара знапы ианыз Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб аиҧылара иалахәыз адокәмент амакет дирдырит.

 

Аҧсуа аҳәаанырцәтәи апаспорт шьақәгылоуп 36 бҕьыц рыла, уи ацәа иаҵәоуп. Апаспорт абҕьыцқәа зегьы аномерқәа рымоуп, бҕьыц цыҧхьаӡа Аҧсны аҳәынҭқарратә Герби, иара убас аӡтәы дыргақәеи рсахьақәа рнуп. Аӡтәы дыргақәа роригиналқәа раҳасабала ахархәара рымоуп Аҟәатәи аҧшаҳәеи, аӡиа Риҵеи, иара убас ижәытәу аҧсуа сахьақәа релементқәа иубои, иара убас иуызгәамҭои.

 

Апаспорт ацәаҟны хыхьала ираӡынҧшшәалоу анбанқәа рыла аҧсышәалеи, урысшәалеи, англызбызшәалеи “Ареспублика Аҧсны” ҳәа икьыҧхьуп, ҵаҟа “Апаспорт” ҳәа, иара убас х-бызшәакны, агәаны – Аҳәынҭқарратә Герб асахзьа.

 

Апаспорт зтәу изы адырранҵақәа ануп аҵыхәтантәи адаҟьаҟны: афотосахьа ахьақәҷабу арыҕьарахь ала, урысбызшәалеи англыз бызшәалеи рыла. Арымарахь ала хазы – атәылауаҩ ижәла, ихьызӡ, иабхьӡи инапынҵамҭеи. Апаспорт егьырҭ атекстқәа зегьы иара убас х-бызшәакны иануп.

 

“Апаспорт жәларбжьаратәи астандартқәа зегьы ирықәшәоит. Уи азнархиеит Гознак. Ахьчара астепенқәа зегьы ахархәара рымоуп. Сара сахьахәаҧшуала, ари апаспорт авариант удукылартә иҟоуп”, - иҳәеит Анқәаб.

 

Аиҧылара иалахәыз ирыдыркылеит апаспорт амакет.

 

13.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ақалақь Фырхаҵа Тҟәарчал иахыҵит 68 шықәса

 

Ақалақь Фырхаҵа Тҟәарчал иахыҵит 68 шықәса. Ақалақь Ахадараҟны ишазгәарҭаз ала, 13.15 рзы Тҟәарчал ауаажәларреи анапхгареи ашәҭқәа шьҭарҵоит 1992-93 шш рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахаз аибашьцәа анышә иахьамадоу Апарк аҟны.

 

Д.Е.Гәлиа ихьӡ зхыу Акультура Ахан аҟны иеиҿкаау аибашьра ахьӡ-аҧша амузеи ианаҭаалакь ашьҭахь, имҩаҧысуеит агәырҕьаратә еизареи аҭыҧантәи арҿиаратә коллективқәеи, Аҟәантәи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи злахәу аконцерт.

 

Иара убри аҽны имҩаҧысуеит Шә.Ҧачалиа ихьӡ зхыу Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аспектакль “Сара сроль” апремиера.

 

Аныҳәа аҳаҭыразы ақалақь аҟны имҩаҧысуеит амҵәышәымпыли атенниси рзы аицлабрақәа, ахәлҧаз ауаа рацәа злахәу аныҟәарақәа. Ақалақь амш хыркәшахоит 22.00 сааҭ рзы аныҳәатә феирверк ала.

 

09.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ажәалагала ҟаиҵеит аррамаҵзура аҿҳәара аркьаҿразы

 

Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Аҧсны Жәлар Реизарахь ахәаҧшразы инаишьҭит “Азеиҧш  арратә уалҧшьеи арратә маҵзуреи” рзы Ареспублика Аҧсны Азакәан аҧсахрақәа алагаларазы”, арратә маҵзура аҿҳәара аркьаҿра азҧхьагәазҭо.

 

Ажәалагала ҟаҵоуп арратә маҵзурахь инаҧхьахо, иреиҳау аҵара змам рзы 24 мзы рыҟынтә 18 мзы рҟынӡа иркьаҿзарц, иара убас арратә маҵзурахь инаҧхьахо, иреиҳау аҵара иалгахьоу рзы 18 мзы рҟынтә 12 мзы рҟынӡа  аҿҳәара ркьаҿзарц.

 

Арратә маҵзура аҿҳәара аркьаҿра ахархәара аиуеит, 2010 ш.мшаҧымза инаркны арратә маҵзурахьы ҿыц инаҧхьахо рзы.

 

“Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵареи, Урыстәыла Афедерациаҟны “Ареспублика Аҧсны аҳәынҭҳәаа еицеилахәны ахьчаразы Аиқәшаҳаҭреи”, “Еидҵоу Урыстәылатәи арратә база Ареспублика Аҧсны атерриториаҟны аҧҵареи рзы Аиқшаҳаҭреи”, “Арратә усхк аҟны Аиқәшаҳаҭреи”, Ареспублика Аҧсны Арбџьпрмчқәа рмаҵзуцәа разыҟаҵара аҩаӡара аҳаракыреи ҳасаб рзуны, ас еиҧш аррамаҵзура аҿҳәара аркьаҿра ииашоуп ҳәа иҧхьаӡоуп”, - ҳәа “Аҧсныпресс” ахь адырра ҟаиҵеит Апарламент аҟны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитрии Шамба.

 

07.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа диаспора Германиа акультуратә ҧсҭазаараҟны

 

Аҧсны иалҵыз активла рхы аладырхәуеит Германиа хҭыс рацәала иҭәу акультуратә ҧсҭазаара.

 

Иҳаҩсыз аҧсшьарамшқәа рзы Золинген ақалақь аҟны имҩаҧысит Кавказ акультура ахәлҧаз, уи рхы аладырхут Германиеи, Франциеи, Бельгиеи, Голландиеи, Швеицариеи, Ҭырқәтәылеи ирыланхо аҧсуа ачеркесстә диаспорақәа рхаҭарнакцәа. Уи напхгара арҭон Иусуф Мықәба (ақ.Вупперталь (Германиа) акультуратә центр), Адмирал Дашдемир (Европатәи ачеркесстә Федерациа ахада), Тимур Шоген (Берлин акультуратә центр) уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.

 

Ахәаҧшцәа гәахәара дула ирыдыркылон афольклортә коллективқәеи, артистцәеи рықәгыларақәа. Иқәгылоз ишазгәарҭоз еиҧш, араҟа узеигәырҕаша акәны иҟоуп, ас еиҧш ахәлҧазқәа рымҩаҧгара Европа аҟны иахьтрадициахаз, уи еднакылоит абиҧарақәа.

 

Ессен ақалақь аҟны аҟазараҭҵааҩ Ирма Гәблиа лнапхгарала имҩаҧысит ақалақьқәа Ессени Нижнии Новгороди милаҭрацәала еилоу ршколтә театрқәа рымчала иқәдыргылаз аспектакль. Артистцәа қәыҧшцәа рҭоурыхи, ргеографиеи, рбызшәеи шеиҧшымызгьы, ахәаҧшыҩ изнагара рылшеит аибашьра шрыдыркылаз аарҧшра, уи ауаа рразҟқәа рыҟны иҟанаҵо анырра. Аҩбатәи адунеитә еибашьра асолдаҭцәа рабиҧарақәа атеатр асцнаҟны иаадырҧшит акзаара.

 

Леипцигтәи ашәҟәтәы џьармыкьаҟны ицәырган Виолетта Рудаҭ – Аҩыӡба лышәҟәы “Ақәра рацәа нызҵуа рыкҿаҩра”. Автор еиҭалҳәеит Европа имаҷны ирдыруа лыҧсадгьыл акәльтуратә биарақәа, аҭоурых, аекзотикатә кҿаҩра уҳәа бас егьырҭгьы. Ацәыргара хыркәшан уаххьала, уаҟа иуҧылон аҧсуа чысхкқәа, ахәлҧаз арҧшӡон аҧсуа музыкеи, акәашареи. Ҵҩа змамыз асасцәа рхыҧхьаӡараҟны дыҟан Аҧсны иаҩыза дуу, зхәыҷра уаҟа изхызгаз, еицырдыруа аҵарауаҩ афизик Манфред фон Арденне иҧа адоктор Томас фон Арденне.

 

Маин иҟоу Франкфурт ақалақь аҟны имҩаҧысит европатәи аҳәса Милаҭрацәала еилоу рклуб еиҿнакааз изаамҭанытәиу ахәлҧаз. Уи азкын У.Шекспир ирҿиара. Аклуб еснагьтәи алахәыла Сеихан Цыба даҧхьеит Борис Амҷба иеиҭагамҭа акомедиа “Укрощение строптивого” ацыҧҵәаха.

 

Германиа иҟоу Аҧсны ахаҭарнак

 

Хьыбла Амҷ-ҧҳа

 

05.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧыза-министр идикылеит Урыстәылатәи аргыларатә еилахәыра “Арегионбжьаратәргылара” Агыҧ ахаҭарнакцәа

 

Аҧыза-министр С.Шамба дырҧылеит аилахәыра “Арегионбжьаратәргылара” Агыҧ ахаҭарнакцәа Михаил Смушкевичи Андреи Писакини.

 

Урыстәылатәи аргыларатә еилахәыра ахаҭарнакцәа иааркьаҿны иазгәарҭеит русура ахырхарҭа хадақәа. Аилахәыра анапы алакыуп Урыстәыла арегионқәа рыҟны еиуеиҧшым аобиектқәа рпроектқәа рыҟаҵареи, рыргылареи, реиҭашьақәыргылареи уҳәа бас егьырҭгьы.Русура аҷыдарақәа иреиуоуп – анхарҭа коммуналтә нхамҩа аобиектқәа. Урҭ араҟа аусуразы агәаҳәара рымоуп, ирҭахыуп зымҽхак ҭбаау аобиектқәа реиҭашьақәыргылареи мамзаргьы рыргылареи рзы аҳәынҭзаказқәа роурц.

 

Аҧыза-министр асасцәа агәра диргеит Аҧсны шазҿлымҳау ас еиҧш аҧышәа змоу аилахәырақәа аус рыцура. Уи иҳәеит аиҳабыра русура ахырхарҭа хадақәа ракәны ишазырыҧхьаӡо анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аобиектқәа реиҭашьақәыргыларақәа.

 

Шамба иара убасгьы иазгәеиҭеит, апроектқәа зегьы рыҟны ишымҩаҧырго атендрқәа, уи иазҿлымҳау аилахәырақәа зегьы ианаамҭоу адырра шрыҭахо. Абри азы “Аҧсныпресс” ахь адырра ҟаиҵеит аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ Рубен Миграниан.

 

05.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны 2010 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара аплан иазкын Аҧсны Аҧыза-министр имҩаҧигаз аилацәажәара

 

Аҧсны 2010 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара аплан иазкын аҧыза-министр Сергеи Шамба ахәаша, мшаҧымза 2 рзы имҩаҧигаз аилацәажәара.

 

Аилацәажәара иалахәын аҧыза – министр ихаҭыҧуаа Леонид Лакербаиа, Беслан Кәбрааи Александр Страничкини, аҵара аминистр Индира Аҩардан, аекономика аминистр Кристина Озган, агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан, ақыҭанхамҩа аминистр Иурии Акаба, акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәнба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Рафаель Амҧар, аҳәынҭқарратә мали априватизациеи русбарҭа Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Константин Кациа.

 

Аиҧылараҟны иалацәажәон ҳазҭоу ашықәс азы агәабзиарахьчареи, акультуреи, аҵарадырреи, аҩнқәеи амҩақәеи рырҽеирақәеи, ақыҭанхамҩеи, ааглыхреи, афымцамчи, анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи, аспорти русхкқәа рыҟны иазгәаҭоу ахарџьқәа рстатиа арҽеира. Иазгәаҭан арҭ аусхкқәа зегьы рыҟны ахырхарҭа хадақәа ралкаара.

 

05.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Женеватәи ацәажәарақәа рылҵшәа Аҧсны азыразым

 

Аҧсуа ган азыразым Кавказ аҭышәныртәаларазы жәларбжьаратәи ацәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд алыҵшәа. Абри азы адырра ҟаиҵеит Женеватәи ацәажәарақәа рыҟны Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Виачеслав Чырыкба.

 

Иара иажәақәа рыла “аҧсуеи ауаҧси ганқәа рделегациақәа ақәшаҳаҭым, ацәажәарақәа раан, амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра алацәажәара ахьзалмыршахаз”. “Ҳара агәҭынчымра шҳазцәырнагоз ҳҳәеит, амч ахамырхәаразы адокәмент аус адулара ахьдыргәагәоз инадҳәаланы, иагьыҟаҳҵеит еицеилахәны аҳәамҭа. Урыстәыла аделегациа азааибагаратә докәмент апроект азы ажәалагала ҟанаҵеит, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рделегациақәа адгылара зырҭаз, аха Женеватәи апроцесс ахылаҧшцәеи Қырҭтәыла аппозициеи инарымаданы уи алацәажәара залымшеит”, - иҳәеит Чырыкба.

 

“Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа мап ацәыркуеит амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра апроект алацәажәара, рҽагьазыршәоит “Аҧсни аахыҵ Уаҧстәылеи ртерриториақәа рхы рақәиҭтәразы” ҳәа захьӡу апроект, ҳара иҳазҳадымкыло алацәажәара”, - азгәеиҭеит Чырыкба. Иара иажәақәа рыла, “Оон-и, Евроеидгылеи, ОБСЕ-и рхаҭарнакцәа ақырҭуа ган иадырцәылоит, изларылшо алагьы иацәхьаҵуеит аиқәшаҳаҭра апроект амшхәаҧштә ахь анагара”. “Урҭ рҽазыршәоит Женеватәи апроцесс иахьынӡарылшо аиқәырхара, иахьынӡарылшо аамҭа иаҳнарбап”, - иҳәеит Женеватәи апроцесс аҟны Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Виачеслав Чырыкба.

 

01.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Москва аусура хнаркәшеит Урыстәыла Афедерациа акультура аминистрра аҟны иаҧҵоу Акоординациатә Хеилак 11-тәи аилатәара

 

Аилатәара рхы аладырхәит Афедерациа Ахеилак алахәцәа, Аҳәынҭдума адепутатцәа, Урыстәыла аиҳабыра алахәцәа, Урыстәыла Афедерациа Апресзидент Иусҩарҭа ахаҭарнакцәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа.

 

Акоординациатә хеилак алахәцәа алацәажәеит 1941-45шш рзтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду Аиааира 65 шықәса ахыҵра аныҳәа амҩаҧгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаатәқәеи; иахьазы иҟоу аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усҳәарҭақәа ҧсахны, абиуџьеттәи автономтәи акультура аусҳәарҭақәа раҧҵара; Урыстәыла Афедерациа абиблиотекақәа рҳәынҭқарратә статистикатә хлаҧшра уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Акоордтинациатә Хеилак еилатәоит есышықәса, Аҧсны аделегациа уи есышықәса иалахәуп, - ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура аминистрра.

 

01.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Мрагылара ажәларқәа рҟазара Аҳәынҭмузеи аспециалистцәа аекспозициатә дизаинертә усурақәа рымҩаҧгараҿы Аҧсны аҳәынҭмузеи иацхраауеит

 

Абасеиҧш аиқәшаҳаҭра алыршахеит Урыстәыла аҳҭны-қалақь аҟны Аҧсны акультура аминистр Н.Логәуеи Мрагылара ажәларқәа Рҟазара амузеи адиреқтор, аҭоурыхтә ҵарадыррақәа рдоқтор Алеқсандр Седови реиҧылараан.

 

Аминистр иҳәеит, 1915 шықәса рзы иргылаз Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны ишымҩаҧысуа акапиталтә рҽеирақәа, насгьы иаарласынгьы ишхыркәшахо. Ахыбра иахаргылоуп ахҧатәи аихагыла, убри аан еиқәырхоуп ҧасатәи архитектуратә хаҿы, аҳҭны-қалақь аҭоурыхтә арихектуратә ҭынхақәа иреиуоу. “Уажәшьҭа иааит аамҭа, аеқспозициатә-дизаинертә усурақәа урыстәылатәи аспециалистцәа ралархәра”, - иҳәеит Логәуа, убри аан уи иазгәеиҭеит дшақәгәыҕуа Мрагылара ажәларқәа Рмузеи аспециалистцәа аусрыцура. – Ҳара ҳмузеи беиоуп зеиҕьыҟам археологиатәи, аетнографиатәи материалқәа рыла, аусурақәа зегьы анхыркәшахлак, ҳара иҳамоуп аҳҭны-қалақь асасцәеи аҭааҩцәеи идҳарбаша”, - азгәеиҭеит Логәуа.

 

Алеқсандр Седов иажәақәа рыла, Мрагылара ажәларқәа Рҟазара Амузеи аҟны иҟоуп зквалификациа ҳаракыу аспециалистцәа, аетнографиеи, аҧсабареи, археологиеи русхкқәа рыҟны. Амузеи ашьақәыргылара аҽалархәра – ари иҧшьоу усуп”, - иҳәеит аҭоурыхтә ҵарадыррақәа рдоктор, Мрагылара ажәларқәа Рҟазара Аҳәынҭмузеи адиреқтор хада. – Аҧсни ҳареи ҳаимадоуижьҭеи акрааҵуеит, иҳәеит аҵарауаҩ.

 

АлеқсандрСедов иҳәеит, Мрпгылараҭҵаара аинститут аҟәшаҟны аус шициуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба. “Уи  дҵарауаҩ ҕәҕәан, аха Иҧсадгьыл аамҭа уадаҩ ианҭагыла аполитика иҽалеимгалар амуит. Ҳара, иара убас аус ицҳаухьеит археологиа аусхк аҟны, уажәтәи Аҧыза-министр Сергеи Шамба”, - азгәеиҭеит Седов.

 

Аҵарауаҩ, иара убасгьы игәалаиршәеит, иабду Раҧхьатәи Адунеитә Еибашьра ҟалаанӡа аус шиуаз Аҟәатәи аотаникатә баҳчаҟны баҳчааӡаҩыс. “Ҳара ҳҭаацәаратә архив аҟны иҟоуп уи ифотосахьақәа”. – иҳәеит уи.

 

Седов иара убас дшазҿлымҳау иҳәеит еицеилахәу археологиатә ҭҵаарақәеи, ацәыргақәҵақәеи рымҩаҧгара. “Ихадоуп амузеи акаталогқәеи, альбомқәеи рҭыжьра”, - азгәеиҭеит Мрагылара ажәларқәа рҟазара Амузеи адиреқтор.

 

Н.Логәуеи А.Седови еиқәшаҳаҭхеит иаарласны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект азырхиаразы. Логәуеи Седови рылацәажәеит егьырҭ хра злоу азҵаарақәагьы.

 

01.04.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада