AҦCУAA  PЫБЖbbI

                                     -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт



 

 Аҧсшьашәа ашәарҭадара аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара аҵак ҷыдазы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иазиҧхьаӡоит иҳаҩсыз акәрорттә сезон азы Гагратәи аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аусура ҧсыҽын ҳәа. Абри атәы иҳәеит, мшаҧымза 20 рзы Гагра имҩаҧысуаз Аминистрцәа Реилазаа аилатәараҟны.
 

Аилатәара иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Алеқспндр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Ахада Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Сергеи Шамба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Урыстәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
 

Сергеи Багаҧшь иажәақәа рыла, Гагратәии Пицундатәи амилициа русура уаҩ даргәырҕьартә иҟамызт. Сынтәатәи акәрорттә сезон азы ари арегион ихаҭәаау амчқәа рыла ирҕәҕәатәуп, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Акәрортә сезон аихьӡара аҕьырк азинхьчаратә усбарҭақәа русура иахьыҧшыуп, - иҳәеит Сергеи Багаҧшь. Гагратәи аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәшаҿы ааигәа еиҳабыс дыҟаҵан Гиви Ҷанба. “Акәрорттә сезон алагамҭазы аиҳаб ҿыц иусура уаҵашьыцыртә иҟам, ихьанҭоуп, ҳәарада”, – инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Араионтә Еизара ахаҭарнак Роман Чирикбаиа ажәалагала ҟаиҵеит, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа тәанчара ишьҭу рпотенциал ахархәара арҭарц. Аҳәынҭқарра Ахадеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри ари ажәалагала иадгылеит.
 

Сергеи Багаҧшь акәльтура аминистр Нугзар Логәуеи араионқәа рхадацәеи даҽазныкгьы иргәалаиршәеит иҳаҩысз ашықәс азы ириҭаз анапынҵа, Аҧсны акәрорттә қалақьқәа рмилаҭтә ресторанқәа рҟны иадырҳәо ашәақәа ррепертуар инадҳәаланы. “Акыр тәылақәа ирҭаахьоу аҧсшьацәа, еицырдыруа аҳәаанырцәтәи ашәақәа усгьы ираҳахьеит, араҟа урҭ ираҳарц рҭахыуп ҳашәақәеи, ҳбызшәеи”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Сергеи Багаҧшь ҕәҕәала ргәы рҽаниҵеит аҧсуа-аурыс ҳәааҟны, агәаҭара-аушьҭырҭатә пункт “Ҧсоу” аҟны аус зуа амаҵзурақәа, аҳәаа иахысуа аҧсшьацәа ишахәҭоу еиҧш рымаҵ руларазы.

 

Убри аан Сергеи Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҧсшьацәа ршәарҭадара аҭагылазаашьа аҵак ҷыда. “Ҳара аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа ирзаҧаҳҵоит аҭагылазаашьақәа зегьы. Шәара иҟашәҵа Аҧсны акриминогентә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы ишәылшо зегьы”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада
 

Агәабзиарачаҧарҭақәа рнапхгаҩцәа аҳәынҭқарра Ахада ааҧхьара риҭеит, робиектқәа рҭагылазаашьеи рыкәша мыкәшеи хырҩаа арҭаларц. Ҷыдала ирхылаҧштәуп, аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, арендала игои приватизациа зызууи аобиектқәа, урҭгьы  иара убасҵәҟьа ҳҳәынҭқарра аимидж аҧырҵоит.

 

21.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада афинанстә цхыраара аиҭоит “Аҧсны аҿар рлидертә ҟазшьақәа рышьақәыргыларазы Аҿартә клуб”

 

“З. Ачба ихьӡ зхыу Қәымчрада аҭынчра” Ацентр аҟны имҩаҧысуеит апроект “Аҧсны аҿар рлидертә ҟазшьақәа рышьақәыргыларазы Аҿартә клуб”. “Апроект мҩаҧысуеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ифинанстә цхыраара иабзоураны”, - лҳәеит Ацентр адиреқтор Далила Ҧлиа. “Апроект иалахәуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситети Аҟәатәи Иаартыу аинститути рстудентцәа, иара убас еиуеиҧшым аполитикатә ҵысрақәеи аҿартә еиҿкаарақәеи рактивистцәеи, аспециалистцәа ҿарацәеи, Ақалақьтә Еизара ахаҭарнакцәеи алархәны. Раҧхьаӡа акәны амчрақәа ацхыраара арҭоит иҳәынҭқарратәым аиҿкаара апроект. Ари аҳәынҭқарра Ахада ипроектқәа ируакыуп, ҳара ҳақәгәыҕуеит, Аҧсны аҧхьаҟатәи аполитикцәа рышьақәыргылара азҵаарақәа рыҟны аусеицура ацҵара”, - ишьақәлырҕәҕәеит Далила Ҧлиа. Ацентр аҟны имҩаҧгалахоит атреннинг-семинарқәа аиуристцәеи, аполитологцәеи, аетнографцәеи, акәльтурологцәеи уҳәа алархәны. Ес-ҩымз хымз рышьҭахь апроект иазҧхьагәанаҭоит аҳәынҭқарра анапхгара рхаҭарнакцәа рҧыларақәа.
Апроект мҩаҧыслоит жәамыз.

 

19.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иҟоуп зқьи хәышә инареиҳаны аҭоурыхи акәльтуреи рбаҟақәа

 

Мшаҧымза – 18 абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыҧқәеи рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш ауп.
 

Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыҧқәеи Жәларбжьаратәи амш аҧҵан ИУНЕСКО анапаҵаҟа, 1983 шықәса рзы абаҟақәеи аҭыҧ ҧшӡарақәеи рыхьчара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Ассамблеиа Ахеилак амчала.
 

Европа ари амш азгәарҭоит 1984 шықәса, мшаҧымза 18 инаркны.
 

Аҧсны абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыҧқәеи Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит 1990 шықәса раахыс, аҭоурыхтә-кәльтуратә ҭынхақәа рыхьчараз Аусбарҭа анаҧҵаха инаркны. Аусбарҭа адырранҵарақәа рыла, аҳәынҭқарра иахьчо Аҧсны аҭоурыхтәи акәльтуреи рбаҟақәа рсиа иалоуп 1500 обиект инареиҳаны.
 

Аусбарҭа аусзуҩцәа ҩ-шықәса раахыс рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭон абаҟақәеи ажәытә архитектурақәеи рыла егьырҭ араионқәа раасҭа иахьҕарым Абжьыуаа рыҟны. 2011 шықәса рзы, абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыҧқәеи рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш Гәдоуҭа ақалақь аҟны иазгәарҭон.
 

“Ҳакциақәеи ҳцәыргақәҵақәеи рыла, ҳара иаҳҭахыуп ауаажәларреи аиҳабыреи азхьаҳарҧшырц Аҧсны еиуеиҧшым араионқәа рыҟны иуникалтәу ақьрсиантәи егьырҭ абаҟақәеи хьчамзар ада ҧсыхәа шыҟам”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аусбарҭа аиҳабы Демур Бжьаниа.
 

Гәдоуҭа ақалақь (Аҧсны араионтә центр) уи наскьоит аҭоурых анеолит аепоха ахь. Ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭаҟны, Кистрик аҳәыгәраҟны аҧсыӡкцәеи, адгьылқәаарыхцәеи ахьыҟаз ҭыҧын. Ҩ-нызқь шықәса раҧхьа арахь иааит абазгаа рхылҵышьҭрақәа аҧсуаа, 13-14 ашәышықәсақәа рзы ицәырҵит аиталиан ҭуџьарцәа, урҭ араҟа ахәҳахәҭырҭа ҭыҧ “Каво-де-Буксо” (“Апальматә сқьала”) еиҿыркааит.  Гәдоуҭа азы анаҩстәи агәалашәарақәа 12-тәи ашәышықәса алагамҭахь иаҵанакуеит. Араҟа акыршықәсақәа рышьҭахь, аҕәтәы ҩнқәеи ахәҳахәҭырҭатә ҿхышәқәеи ахьцәырҵыз амҩаду ҟалеит. 19-тәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Гәдоуҭа қалақь маҷхеит. Иахьа ари кәрорт-қалақьуп.
 

Абаҟақәеи аҭоурыхтә-кәльтуратә ҭынхақәеи рыхьчара Аусбарҭа иахьа Гәдоуҭа имҩаҧнагеит  аконференциа, уаҟа иалахәын араион ахадара ахаҭарнакцәеи ақыҭақәа рхадацәеи.
 

Демур Бжьаниа еиҭеиҳәеитт Гәдоуҭа араион аҭоурыхтәи археологиаптә баҟақәеи рыла шаҟа ибеиоу.
 

С.Дбар ихьӡ зхыу Гәдоуҭатәи амузеи апроблемақәа рзы ажәахә ала дықәгылеит аҭоурыхҭҵааҩ Баҭал Гәмба. Уи ишьҭихит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу абьаҟақәа рыхьчара шаҭахыу атәы. Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагарала, акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба иштаб ахьыҟаз ахатәы ҩны имемориалтә ҭыҧзароуп.
 

Афонҿыцтәи аҳәырҧсарра адиреқтор Алхас Аргәын ишьҭихит Афон ҿыцтәи абаҟақәа рыхьчара азҵаара, иҳәеит иара убас 1992 ш. рзы аус зуаз абаҟақәа рыхьчараз ареспубликатә еилазаара аиҭаҧҵара шаҭахыу.
 

Пицундатәи аҳәырҧсарра адиреқтор Руслан Барцыц еиҭеиҳәон аҳәырҧсарра апроблемақәа ртәы, иара убас Бзыҧтәи аиҩхаа акәльтуратә ҭынха аобиектқәеи реикқәырхара атәы уҳәа. Барцыц иколлегацәа азхьаирҧшит “ажцәа еиқәаҵәақәа” рпроблема.
 

Аҧсуа ҳәынҭмузеи адиректор А.Џьопуа аконференциа алахәцәа ирзеиҭеиҳәеит амузеи ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧысшьа. Иара убас аеқспонат ҿыцқәа рыла еқспозициақәак рхаҭәаара шаҭахыу.
 

Иахьазы Гәдоуҭа араион қыҭақәак рыҟны археологиатә жрақәа мҩаҧысуеит. Игор Ҵнариа аконференциа алахәцәа идирдырит Оҭҳара ақыҭан имҩаҧысуа адольментә (анышәынҭратә) жрақәа ртәы. Уи иазхьаирҧшит  диаметра 30 метреи, гыларала 6 метрак иҟои хаҳәла иҟаҵоу Оҭҳаратәи анышәынҭра.
 

Аконференциа алахәцәа идырбан Игор Цнариа ихаҭа иҭыхымҭақәа, оҭҳаратәи ажрақәа  рзы авидеонҵамҭа.
 

Аусбарҭа аспециалист хада В.Бжьаниа иргәалаиршәеит, Бамбора ақыҭан 1992 ш. рзы Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Археологиа аинститути, Д.Гәлиа ихьӡ зхыу Аҧсуа абызшәеи аҭоурыхи, алитературеи ринсититути ишеицымҩаҧыргаз аеқспедициа ду. “Иахьазы, рыцҳарас иҟалаз ажрақәа мҩаҧысӡом. Еицыҟаҵаз аеқспедициаан иҧшааз аҟәрҷахақәа рыхәҭак Аҧсуа ҳәынҭмузеи аҟны иҟоуп, рыхәҭак Москва аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә музеи ахь ирыҭоуп”, - иҳәеит Бжьаниа.
 

Уи иазгәеиҭеит, 20-тәи ашәышықәса 40-тәи ашықшсқәа раан аҭыҧантәи атәылапҿацәҭҵааҩ Алеқсандр Лукин абронза апериод иаҵанакуа археологиатә ҧшаахқәа рколлекциа еизигаз Ермитаж ахь ишриҭаз.
 

Бамборатәи адәҳәыҧш аҟны иҟан еицырдыруа Кистирктәи анеолититә еиланхарҭа тыҧ. Уаҟа иқәнхоз адгьылқәаарыхреи, аџьыкаршреи, аҧсыӡкреи рнапы адыркхьан.

 

Гәдоуҭа акәша-мыкәша иара убас иҧшаауп абронза аепоха иаҵанакуа аҿырҧшқәа, хәҭакахьала абронза иалхыу “бомборатәи аҩыжәҩы” ифигәра, уи ҵәахыуп Ермитаж, иара убас Лыхнытәи аҵәах абронза иалхыу аихақәа, - Колхидатәи акәльтура заатәи абаҟақәа иреиуоу.

 

Аеқсперт игәаанагарала, Бомборатәи адәҳәыҧш аҟны ажрақәа хацыркзар ауан, уи ацхыраара ҟанаҵарц алшоит арҭ аҭыҧқәа рҭоурых амаӡақәа раартраҿы.

 

18.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иаҧцҵоуп Аҧсуа географиатә еилазаара

 

Иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет абиологиа-географиатә факәлтет аҟны имҩаҧысит Аҧсуа географиатә еилазаара аҧҵаратә еизара.

 

Аколлоективтә аҧҵаҩцәа рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп –Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситети  Аҧсны аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы Аҳәынҭеилаки.

 

Аҧсуа географиатә еилазаара Апрезидентс далхыуп агеографиатә ҵарадыррақәа ркандидат, адоцент Инга Ҭаниа. Уи лхаҭыҧуаҩыс – Аҧсуа гәманитартә ҭҵаарақәа ринститут аусзуҩы М.Дасаниа.

 

Инга Ҭаниа лажәақәа рыла, аҧсуа географиатә еилазаара ахықәкқәа иреиуоуп агеографиатәи, аҧсабареи, аилазаареи рзы анаука аҿиара ацхыраара аҭара; анаукатә еихьӡарақәа рпропоганда; агеографиа аусхк аҟны анаука арҿиара, атылаҿацәҭҵаара, аҭоурых аҭҵаара, адунеитәи, амилаҭтәи, аҧсабаратәи акәльтуратәи ҭынхақәа рыхьчараҿы ацхыраара аҟаҵара, аҧсабареи уи абаҟақәеи рыхьчара.

 

14.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Исраель Зив: “Ҳара иаабеит аибашьра иалҵны аҭышәынтәалара иаҿу атәыла”

 

“Ҳара Аҧсныҟа ҳвизит аполитика иадҳәалам, ҳзызҿлымҳау аекономикатә зҵаарақәа роуп”, - иҳәеит Израильтәи аделегациа ахада Исраель Зив ажурналистцәа аниҿцәажәоз.

 

“Ҳара иаабеит аибашьра аҟынтә аҭышәынтәалара зҽазызшәо атәыла .Зегь реиҳа иџьаҳшьо, атәыла аҿиаразы шәыуаажәлапр ирымоу агәаҳәароуп”, - иазгәеиҭеит уи.

 

Израильтәи аделегациа Аҧсныҟа аара рыгәҭакыуп даҽазныкгьы, аҧсуа ган аҟны аусеицураз иалыркааз ахырхарҭа хадақәа азы аӡбара анрыдыркылалак ашьҭахь.

 

14.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 “Ари атәылаҟны имҩаҧгаз амшқәа, зхыҧхьаӡара рацәоу аҧсуа диаспора рҧыларақәа рыла ибеиан”, - Сергеи Багаҧшь

 

“Ҭырқтәылаҟа ацареи аимадарақәеи агәыҕра ҳарҭоит аҭырқәа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа шышьақәгыло ала”,- ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Сергеи Багаҧшь, Ҭырқәтәыла иҟазаара инамаданы имҩаҧигаз апресс-конференциаҟны.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Ҭырқтәыла аофициалтә еиҧыларақәа шыҟамызгьы, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿагыларатә ҳәамҭақәа жәпакы шыҟанаҵаз.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, уаҟа излацәажәоз азҵаарақәа ирылукааша акәны иҟоуп, Трабзони-Аҟәеи рыбжьара амшынтә мҩа аартра, аҭырқә-бизнес Аҧсны изызҿлымҳау, акәрорттә усхк аҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, акәльтуратә еимадарақәа рырҿиара уҳәа убас егьырҭгьы.

 

“Хымш-ҧшьымш ари атәылаҟны имҩаҧаҳгаз амшқәа, аҧсуа диаспора рҧыларақәа рыла ибеиан. Иара убас уаҟа даара иҳазҿлымҳан Ҭырқтәыла еицырдыруа амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа”, - иазгәеиҭеит Сергеи Багаҧшь.

 

“Адиаспора рҧылараан, сара инаҵшьны сыззааҭгылоз, урҭ Рҭоурыхтә Ҧсадгьылахь рыгьежьра азҵаара акәын,”. – иҳәеит Сергеи Багаҧшь. Убри аан уи иациҵеит, ишеиликаауа, “зегь рыла иҭышәынтәалоу атәыла ааныжьны Аҧсныҟа аара шус мариам”.

 

“Ааи, ҳара анхара азҵаара аӡбараҿы ацхыраара ҟаҳҵоит, ираҳҭоит адгьыл. Аха уи зегьы аӡбом. Даҽа тәылак аҟынтә иааз ауаҩы, араҟа даршьцылатәуп. Убри аҟны ацхыраара иҭатәуп. Ари азҵаараҿы ҳара иҟаҳҵаша рацәаӡоуп. Ҳшырҧыло, ацхыраара шраҳҭо акраҵанакуеит. Арепатриациа азҵаараҿы, сара сгәанал, аҧыжәара рыҭатәуп аҿар”, - иазиҧхьаӡоит Сергеи Багаҧшь.

 

Авизит аҵыхәтәантәи амш азы, мшаҧымза 10 рзы, Сҭамбул имҩаҧысит  аҭырқә ҭыжьымҭақәа 15 рнапхгаҩцәеи Сергеи Багаҧшьи реиҧылара. Урҭ азҿлымҳан аҭырқәа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа, Косово ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуразы Багаҧшь игәаанагара уҳәа убас егьырҭгьы.

 

“Урҭ, иара убас иазҿлымҳан Ҭырқтәылеи Аҧсни аҧхьаҟатәи реизыҟазаашьақәа шышьақәыгыло, арҭ аҩ-тәылак рыбжьара авиациатәи амшынтә еимадарақәа рызҵаара, иқәыргылан азҵаара иара убас Ҭырқтәылантә Аҧсныҟа аидара аазго аҕбақәа рҳәынҷара атәы уҳәа..., сара урҭ рҭакс исҳәеит: “Ҭырқәтәыла аибашьыгатә нышьақәа рыла Кырҭтәыла аиқәыршәара ааннамкылар, арҭ анышьақәа еснагь аҭынч еидара зқәу аҕбақәа ишырытҟәало”..

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ажурналистцәа азхьаирҧшит, хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа диаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла Аҧсназы ироуа аинформациа шмаҷу. “Ҳара аинформациатә усура еиқәҳаршәароуп, иҟаҵалатәуп Ҭырқәтәылазы адырраҭарақәа, “ – иҳәеит Сергеи Багаҧшь, убри аан аҧсуа журналистцәа ааҧхьара риҭеит, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора, Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәеи, аекономика шышьҭнахуеи, аҳәынҭқарра шарҕәҕәои рзы адыррақәа рышьҭларц азы.

 

“Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспора хьаас ирымоуп Урыстәыла Афедерациеи Ареспублика Аҧсни рыбжьара аҳәынҭҳәаа ашьақәыргылара азҵаара, хәҭакахьала Гагра араион аҳабла Аибҕа алахьынҵа”, - иҳәеит Сергеи Багаҧшь апресс-конференциаҟны. Иара иажәақәа рыла, арҭқәа хыҵхырҭас ирымоу, ииашам аинформациа аларҵәара ауп.

 

Адиаспора рҧыларақәа раан, аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, агәра диргеит, Аибҕа иадҳәалоу азҵаара шбашацәажәароу: “Сара иаартны ирасҳәеит, Багаҧшь Аҧсны иҭиит, Аибҕа риҭеит, ҳәа иҟоу ацәажәарақәа шьаҭа ҳәа акагьы шрымам. Ари атемазы иаладырҵәо ауҳәан-сҳәанқәа рыгәра рымгаразы ааҧхьара рысҭеит. Ҳара аҳәаа азҵааразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧаҳгоит. Дгьыл ҿаҵакгьы аӡәгьы иҭара ҳагәҭакӡам”. Аҳәынҭқарра Ахада аҧсуа прессаҿы, Аҧсны дгьыл ахәҭак амызхуа Медведеви Путини ркарикатура ацәырҵра “уаҩымроуп” ҳәа ахиҳәааит. Арҭ “арҿиамҭақәа” равторцәа Аҧсны иахнагахьоу агәаҟрақәа рхашҭит, ирхашҭит 2008 шықәса, Гал араион аҟны аҭагылазаашьа.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада аҵак ҷыда аиҭоит, Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аргылара иадҳәалоу азҵаарақәа. “Ари азҵаара ҳтәыла ашәарҭадара иадҳәалоуп. Ҳара ҳалагоит аҳәаахьчара ацәаҳәа аргылара 25 метра аҭбаара аҭаны. Зегьы ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәахоит, Қырҭтәыла иаҧну араион аҟны аҭагылазаашьа ахылаҧшразы”, -ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Сергеи Багаҧшь, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәааҟны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ ахҳәаа азыҟаҵо.

 

Сергеи Багаҧшь иҳәеит, ииашоу ахыҵхырҭақәа рыла, ишыҟоу аинформациа, 28 шықәса зықәҵаны иҭакыз, иаалырҟьаны ихы дшақәиҭтәу ақырҭуа ацәгьоуратә гәыҧқәа “Абнатә еишьцәа” анапхгаҩы. Уи инапаҵаҟахь ишиагоу иҷыдоу агәыҧқәа. “Убри аамҭақәа инадыркны Гал араион аҟны апровокациақәа ҿыцымҭала ихацыркыуп. “Ҳара уажәазы уаҟа иаҧаҳҵоит иҷыдоу аҟәшақәа ҩба, аҭагылазаашьа ацклаҧшразы. Гал араион аҟны ҷыдала аҭагылазаашьа ахылаҧшра аҭахыуп. Иаарласны уи ҟаҵахоит, агәра диргеит Сергеи Багаҧшь.- Адунеи аҟны иҟамзар ҟалап узахымҵыртә еиҧш иҟоу аҳәаа. Аконтробандеи, ауаа рныҟәареи – ари иуадаҩу процессуп, аха аҳәааҟны алеишәа шьақәыргылатәуп. Ари азҵаара даҽаӡәы инапы ианысымҵаӡеит, уи сара хаҭала хылаҧшра азызуеит.”

 

Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, аҳәаа ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәахаанӡа, изакәанымкәа аныҟәарақәеи апровокациақәеи аҭыҧ рымазаауеит.

 

12.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны амчрақәа ауахәама аҩныҵҟатәи аусқәа рыҽрыларгалаӡом

 

“Аҧсны,  ауахәама аҳәынҭқарра иаҟәгоуп, амчрақәагьы урҭ рыҩныҵҟатәи аусқәа рыҽрыларгалаӡом”, - абри атәы иҳәеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь апресс-конференциаҟны, Афонҿыцтәи ауахәама ахылаҧшҩы инаидҳәаланы, аҩныҵҟауахәаматә проблемақәа ртәы дазааҭгыло.

 

“Амитингқәа рыла, Афонҿыцтәи ауахәама азҵаара аӡбара залшом. Ари азҵаара, сара сгәаанагарала, аепархиатә уахәама, дара аҧшьамаҵзуҩцәа ирыӡбароуп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Багаҧшь.

 

Афонҿыцтәи ауахәама ахылаҧшыҩ ҿыц аигәмен Ефрем (Виноградов) итәы акәзар, Багаҧшь иажәақәа рыла, аепархиатә уахәама адиндамаҵзуҩуп. “Иара( аигәмен Ефрем) апатриарх Кирилл ҷыдала Аҧсныҟа дааимышьҭӡеит. Уи аҧсуа Қьырсиантә уахәама иҟанаҵаз аҳәарала даарышьҭит”, - инаҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

12.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада: Женеватәи ацәажәарақәа алыҵшәа аарышьҭуеит

 

ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Пан Ги Мун аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа арегион аҟны аимак аӡбара алымшазаргьы, урҭ хаҳара шрылоу дырҵабыргит. “Женеватәи апроцесс аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәареи, иара убас абжьгарақәа риуреи рзы аҭагылазаашьа аҧнаҵоит”.

 

Иара иажәақәа рыла, арҭ аиҿцәажәарақәа рылахәцәа арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи, ауаҩ изинқәеи рырҕәҕәара апроцесс алыҵшәа аихаҳара иалацәажәатәуп.

 

Женеватәи ацәажәарақәа мҩаҧысуеит 2008 шәықәса, жьҭаарамза инаркны ҩ-ҳәынҭқаррак Урыстәылеи Франциеи Рхадацәа, Аахыҵ Уаҧстәыла нанҳәазтәи атрагедиатә хҭысқәа рышьҭахь иалдыршаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала. Женеватәи аиҧылара еиҟароу азинқәа рыманы иалахәуп Аҧсны, Қырҭтәыла, Урыстәыла Афедерациа, Америка Еидҵоу Аштатқәа, Аахыҵ Уаҧстәыла, иара убас Евроеидгыла, ООН-и , ОБСЕ-и рхаҭарнакцәа.

 

Иазгәаҭатәуп, ааигәа ОБСЕ ахада Андрониус Ажубалис аҳәамҭа шыҟаиҵаз, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа, ари Қарҭи Москвеи рыбжьара ацәажәарақәа рымҩаҧгаразы ишҭагылазаашьа заҵәу азы.

 

12.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Апарламент адышшылара ҟанаҵоит Гал араион аҟны Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩ Василии Квитко иҭахара инамаданы

 

Аҧсны Апарламент гәалсрыла идышшылотит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Шәарҭпадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Иурии Звирык, Гал араион аҟны урыстәылатәи аҳәаахьчаҩ Василии Квитко иҭахара инамаданы.

 

“Аҧсны Апарламент гәалсра дула ишәыдышшылоит иҭахаз иуацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи. Ҳара ибзианы иаадыруеит, аҳәааҟны амаҵзура шаҟа уадаҩра ацу. Ҳара аподполковник Василии Борис-иҧа Квитко ифырхаҵареи игәымшәареи рҿаҧхьа ҳхырхәоит. Аҳәаахьчаҩцәа роуп раҧхьатәи ааха здызкыло аҳәааеилагаҩцәа рҟынтәи, урҭ хьыӡла-ҧшала инарыгӡоит рҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа”, - ҳәа аҳәоит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба инапы зҵаҩу адышшылараҟны.

 

12.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Имҩаҧысуеит Аҧсны ашьапылампыл азы XVIII ачемпионат

 

Имҩаҧысуеит Аҧсны ашьапылампыл азы XVIII ачемпионат. Уи иалахәуп ашьапылампылтә клубқәа ааба. Актәи атур аҟны ашьапылампылтә клуб “Гагра” (Гагра) Аҟәатәи “Динамо” аҟны 2:1 ҳәа иаиааит.

 

Аҟәатәи “Абазг” иаднакылеит Очамчыратәи “СКА” иагьаиааит 2:1 ҳәа. Аҟәатәи “Нарҭ” ашьапылампылтә клуб “Самырзаҟан” (Гал) аҟны иаиааит 6:1 ҳәа. Гәдоуҭатәи “Риҵа” Пицундатәи “Кьараз” аҟны 5:0 ҳәа аиааира агеит.

 

Аҩбатәи атур аҟны еиҧылоит:

 

Мшаҧымза 13 : “Динамо” (Аҟәа) – “Абазг” (Аҟәа)

Мшаҧымза 14: “Риҵа” (Гәдоуҭа) – “Гагра” (Гагра)

Мшаҧымза 15: “СКА” (Очамчыра) – “Нарҭ” (Аҟәа)

Мшаҧымза 15: “Кьараз” (Пицунда) – “Самырзаҟан” (Гал).

 

11.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ихыркәшоуп Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Ҭырқәтәылатәи Ареспубликахь ивизит

 

Ихыркәшоуп Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Ҭырқәтәылатәи Ареспубликахь ивизит. Ашәахьаҽны, мшаҧымза 11 рзы, уи инапынҵақәа рынагӡара нап диркит, ҳәа адырра ҟаиҵеит аинформациа Аусбарҭа аиҳабы Кристиан Бжьаниа.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иахьа Иусбарҭаҟны имҩаҧигоит ауааҧсыра рыдкылара.

 

11.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Автомҩақәеи ауаа рацәа реизарҭа ҭыҧқәеи рыҟны ишьақәыргылахоит авидеоцклаҧшратә камерақәа

 

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра автомҩақәеи ауаа рацәа реизарҭа ҭыҧқәеи рыҟны авидеоцклаҧшратә камерақәа рышьақәыргыларазы иаланарҵәоит апроект.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леодид Ӡаҧшьба излашьақәирҕәҕәаз ала, авидеоцклаҧшратә система шьақәыргылоуп ахылаҧшра аушьҭырҭатә пункт “Ҧсоуи”  иара убас аблокпост “Мысреи” рыҟны, иаарласны авидеоцклаҧшратә камерақәа шьақәыргылахоит аблокпостқәа “Кәыдри” “Охәуреи” рҟынгьы.

 

Авидеоцклаҧшратә камерақәа шьақәыргылахоит Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа 15 участок рыҟни, Аџьармыкьа араиони, абанкқәеи, иара убас ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәеи рыҟны.

 

“Жәаҳәарада, ари ацхыраара ҟанаҵоит автомҩақәеи, ақалақь иахьаҵанакуеи рыҟны ахылаҧшра амҩаҧгара. Уи иара убас ацхыраара ҟанаҵоит иҕьычны иҟоу автотранспорт аарҧшраҿы уҳәа убас егьырҭгьы”, - иҳәеит Ӡаҧшьба. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапаҵаҟа иаҧҵоуп аҭагылазаашьатә центр, уаҟа еизаклахоит авидеоинформациа зегьы”.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазҧхьагәарҭоит, азакәан иқәымныҟәо амашьынаныҟәцаҩцәеи иара убас ашьаҟауааи рыҟны анырра ҟанаҵап ҳәа авидеоцклаҧшра,  агәаанагара ыҟоуп иара убас амҩатә машәырқәа еиҳа имаҷхап ҳәа. Агәаҽанызааратә дырга анырбалак, аҭыҧантәи амашьынаныҟәцаҩцәа, хараҧса рымшәаразы, рмашьына аласра еиҳа идырмаҷлап ҳәа.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ахада иазгәеиҭеит, автоматикатә видеоцклаҧшра ахьықәыргылахо амҩақәа рыҟны, агәҽанҵаратә дыргақәа шықәыргылахо.

 

11.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада дырҧылеит хыҧхьаӡара рацәала Узун Џьорман инхо адиаспора

 

Адаҧазар ааигәа ишьҭоу Узун Џьорман ақыҭаҟны имҩаҧысуаз Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧыларахь иааит 3-нызқьҩыуаак инарзынаҧшуа аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа.

 

Ҭырқәтәыла ари арегион аҟны адиаспора иаҳа ирацәаҩны иахьеиланхо ҭыҧуп. Еизаз рҿаҧхьа дықәгыло Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҧсуаа Аҧсни уи анҭыҵ инхои – жәларык шракәу. Аҧсны аразҟгьы уи ажәлар рнапы ишану. “Адиаспора рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарра Ахада рҭоурыхтә Ҧсадгьыл азы ирҭон хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа”, – ҳәа ааицҳауеит аинформациа Аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Алхас Ҷолокәуа.

 

09.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь Адаҧазар дырҧылеит аҧсуа диаспора

 

Иацҵоуп Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Ҭырқтәылатәи ареспубликаҟны ивизит. Иахьа шьыжьнаҵы Сергеи Багаҧшьи уи дымҩаҧызго аделегациа алахәцәеи Анкарантә Адаҧазарҟа ицеит, уаҟа имҩаҧысуеит ари арегион аҟынтә адиаспора рҧылара. Анаҩс, Сергеи Багаҧшь Стамбулҟа дцоит,- ҳәа адырра ҟаиҵеит аинформациа Аусбарҭа Анапхгаҩы Кристиан Бжьаниа.

 

Мшаҧымза 8 рзы Анкара имҩаҧысит аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәеи Аҧсны аделегациеи реиҧылара. Аиҧылараҟны ирзааҭгылан, аҳәынҭқарратә ргылара азҵаарақәа, атәыла аекономикатә ҿиара аҧеиҧш, арепатриациа апроблемақәа, Ареспублика Аҧсны атәылауаҩра аиуреи, апаспорттизациеи.

 

09.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь Анкара дырҧылеит еицырдыруа аҭыжьымҭақәеи Ҭырқәтәыла аинформациатә агентрақәеи

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҿцәажәаразы уи аамҭалатәи ирезиденциахь иааит Ҭырқәтәылатәи агазеҭқәа   Cumhuriyet (Republic), Hurriyet (Freedom),  Haberturk (Turkishnews), Aksam (Evening), Turkiye, Milliyet, Zaman (Time), Vatan, Yeni safak, Vakit, Posta, Star рыхҳәааҟаҵаҩцәа.

 

Ҭырқтәылатәи ажурналистцәа азҿлымҳан аҳәынҭқарра Ахада ивизит ахықәкы, Аҧсны аҭагылазаашьа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи Аҧсни реизыҟазаашьеи уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит, Ҭырқтәылаҟа ивизит хықәкыс ишамоу – хыҧхьаӡара рацәала араҟа инхо аҧсуа диаспора рҧылареи, Аҧсны аҿиара аперспективақәеи, адиаспора  рҭоурыхтә ҧсадгьыли реимадара арҕәҕәареи рзы Ҭырқтәыла инхо аџьынџьуаа рыҿцәажәареи, ргәаанагарақәа реилкаареи шракәу. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ивизити аџьынџьуаа рҧылареи иахаҵгылаз  Ҭырқтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа шреиҳәо. “Ҳара Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра – ҳаҭыр дула ҳазыҟоуп, - иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

 

Сергеи Багаҧшь Ҭырқәтәылатәи амассатә информациатә хархәагақа рхаҭарнакцәа ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны аполитикатә ҭагылазаашьа атәы: “Ҳара ҳазхарҵахьеит ҳәынҭқаррақәак, зегь раҧхьаӡа Урыстәыла – адунеи аҟны зегь иреиҳау аҳәынҭқарра. Ҳара ҳазыҧшуп, иаарласны Аҧсны азхарҵап ҳәа еиҭа даҽа ҳәынҭқаррақәак”.

 

Қырҭтәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа аҭак ҟаҵо Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит, Аҧсни , Аахыҵ Уаҧстәылеи, Қырҭтәылеи, Евроеидгылеи злахәу Женеватәи абжьгарақәа иахьазы ишымҩаҧысуа.  Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Мраҭашәара аҽазнашәоит арҭ аиҧыларақәа Қырҭтәыла аҿцәажәара аформат ахь аиагара. Аҳәынҭқарра Ахада излазгәеиҭаз ала, Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара алшоит ихьыҧшым ҩ-ҳәынҭқаррак раҳасабала. “Ҳара ахатәы ҳәынҭқарра амазааразы иҳамоуп аҭоурыхтә зин, Анцәа имчала, уи азин ҳауит”. Уи инаҵшьны иҳәеит, Аҧсны астатус азҵаара аиҿцәажәарақәа ирызҵаара хаданы ишыҟаҵатәым. “Уи ҳәаақәҵоуп. Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп. Ҳара ҳхьыҧшымра азхаҵоуп, ари азҵаара даҿаӡәы иҟны алацәажәара ҳагәҭакым”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

Ҭырқәтәыла анапхгара атәылахь иаара иақәшаҳаҭхартә еиҧш, еиҭакрақәас иҟои Аҧсны ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Аҧсны иахьа Урыстәылеи егьырҭ ҳәынҭқаррақәаки ишазхарҵахьоу. “Иахьа Аҧсны иҭышәынтәалоу ҳәынҭқарроуп, адемократиатә мҩала аҿиареи ахатәы економика ашьҭыхреи гәаҳәарас иамоуп”, - иазгәеиҭеит Сергеи Багаҧшь. Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Ҭырқәтәыла анапхгара даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит “иакыу ажәлар реимадараҟны аҧынгылақәа ахьыҟарымҵаз”.

 

Ҭырқәтәыла амассатә-информациатә хархәагақәа азҽлымҳан Аҧсны амчрақәа Ҭырқәтәыла инхо адиаспора ишырзыҟоу. Аҳәынҭқарра ахада ишазгәеиҭаз ала, Ҭырқәтәыла инхоит 300 инаркны 400-нызқьҩыуаак рҟынӡа аҧсуаа. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны азы ари шзҵаара хадоу. Аҳәынҭқарра ахада игәаанагарала, ҳаамҭазы, ассимилиациа апроцесс атемпқәа аныццакыу аамҭазы, адемографиатә проблемақәа анырацәоу, ихадоу акәны иҟоуп адиаспора рҭоурыхтә ҧсадгьыл рҽамадара: “Амилаҭтә акзаареи, ахатәы бызшәеи акәльтуреи даҽакала хьчашьа амаӡам”. Аҳәынҭқарра Ахада ирзеиҭеиҳәеит, арепатриантцәа анхаразы иҭышәынтәалоу иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаҧҵаразы Аҧсны анапхгара ирыдыркыло аусмҩаҧгатәқәа. Сергеи Багаҧшь, иара убасгьы иҳәеит, ари азҵаара ауадаҩрақәагь шацу. “Ибзиаӡан еилыскаауеит, иҭышәынтәалан иҿио Ҭырқәтәыла аҟынтә, аибашьра ашьҭақәа макьанагь иахьырацәоу Аҧсныҟа ауаа рнапҳьара шус мариам”, - иҳәеит С.Багаҧшь. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, Ҭырқтәылантә аџьынџьуаа аҳәынҭқарра ишырзаҧнаҵо азоужьратә ҭагылазаашьақәа, Аҧсны абизнес зырҿиарц зҭахыу рзы.

 

Ҭырқтәылатәи ажурналистцәа азҿлымҳан, Аҧсны Ҭырқтәылатәи аинвесторцәа аднаҧхьало иаднамыҧхьало.

 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҭырқә бизнес иахьагьы Аҧсны аекономикаҟны ишыҟоу. Убри аан уи иазгәеиҭеит, амассатә-информациатә хархәагақәа рыҟны Аҧсны азы ииашам аиформациа шаладырҵәо. Уи аинвестициақәа ралагалараҟны аҧырхага шыҟанаҵо. “Зны-зынла убас рыҩуеит, иахгәеиҭеит С.Багаҧшь, Аҧсны Урыстәыла иагәберниахазшәа. Ус еиҧш иҟаӡам, иагьыҟалаӡом”.

 

Сергеи Багаҧшь даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла – Аҧсны ахьыҧшымра шазханаҵаз, хырхарҭа рацәала ацхыраара шыҟанаҵо, ҳаргьы Урыстәыла аҟны аизыҟазаашьақәа рыҿиара ҳазыразуп. Аусхкқәа зегьы рыҟны  ҳаизыҟазаашьақәа мҩақәнаҵоит аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа. “Урыстәыла иабзоураны иахьа Аҧсны ҭышәынтәалоуп, уи иаҧнаҵоит изҩыдоу аинвестициатә ҭагылазаашьа”, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Сергеи Багаҧшь игәаанагарала, аҭырқә бизнес аҧсуа џьармыкьахь анеира агәаҳәара амазар, уи аҩыза аҭагылазаашьақәа макьаназ иҟоуп.

 

Аҳәынҭқарра Ахада рҭакқәа ҟаиҵеит хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа.

 

08.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа делегациа ахьаангылаз арезиденциаҟны имҩаҧысит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадеи адиаспора рхаҭарнакцәеи раҧхьатәи реиҧылара

 

Аҧсуа делегациа ахьаангылаз арезиденциаҟны имҩаҧысит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадеи адиаспора рхаҭарнакцәеи раҧхьатәи реиҧылара. Урҭ иҧхаӡа бзиала уаабеит ҳәа иарҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Аиҿцәажәараҟны урҭ гәахәарыла иазгәарҭон Аҧсны азхаҵара  шышьақәгылаз.

 

Ас еиҧш ашьаҿа ҕәҕәазы Урыстәыла Афедерациахь рхы нарханы ҭабуп ахырҳәаауан. Адиаспора иазгәарҭон аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ишрыцклаҧшуа. Адиаспора иара убасгьы иазгәарҭон, Аҧсни Ҭырқәтәылеи рыбжьарагьы абас еиҧш аусеицура ҿиаларц шырҭахыу.

 

07.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь визитла Ҭырқәтәылаҟа дцеит

 

Анкара, Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь 4-мштәи визитла Ҭырқәтылаҟа дцеит. 

 

Аҳәынҭқарра Ахада Ҭырқтәылаҟа ицны ицеит: Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Григории Еныкь, аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Сариа Амҷ-ҧҳа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиа, аекономика аминистр Кристина Озган, Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Илларион Аргәын, арепатриациазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба, Апарламент адепутат Ҭаали Ҳәатышь, адунеи ҩынтәтәи ачемпион, аспортсмен Денис Царгәыш, ареспублика аусдкылаҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Леонид Осиа уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Амш аҩбатәи азыбжазы Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Анкара днеиит. Ҭырқәтәыла аҳҭны-қалақь аҟны иазгәаҭоуп аусуҩтә еиҧыларақәа ҩ-ганктәи абизнес-усеицура азҵаарақәа рырҿиаразы.

 

Авизит аиҳарак мҩаҧысуеит Сҭамбули егьырҭ араионқәеи рыҟны аҧсуеи ачеркесс диаспорақәеи реиланхарҭа ҭыҧқәа рыҟны.

 

Авизит аламҭалазы Сергеи Багаҧшь амассатә информациатә хархәагақәа рыла аџьынџьуаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла визитла дшаҭаауа ала.

 

Сергеи Багаҧшь ари Ҭырқәтәылаҟа аҩбатәи ивизит ауп. Уи раҧхьаӡа акәны уахь дцеит Аҧсны аҧыза-министрс даныҟаз.

 

07.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Апаталогиеи атерапиеи рҧышәарҭатә институт апроект “Марс-500” иалахәхаразы ажәалагала ҟаҵоуп

 

Аҟәа, Урыстәыла Аҵарадыррақәа Ракадемиа амедико-биологиатә проблемақәа ринститут Афедералтә космоси Урыстәылатәи аҵарадыррақәа Ракадемиеи рахылаҧшрала еиҿнакаауа апроект “Марс-500” Аҧсны аҵарадыррақәа Ракадемиа апаталогиеи атерапиеи рҧышәарҭатә инстиут алахәхаразы ажәалагала ҟарҵеит.

 

Мшаҧымза 4 рзы Кавказ акзаара аестафета аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас Иури Гагарин акосмос ахь дыҧрижьҭеи 50 шықәса аҵра инадҳәаланы, Аҧсныҟа иааит акосмонавтцәа Магомед Толбоеви Михаил Корниенкои, иара убас Афедералтә космос ахаҭарнакцәеи. Кавказтәи аестафета мҩаҧысуеит “Евразиатәи аҭҵаарақәа Ринстиут” Москватәи афонди, “Агәлеимабзиара” афонди раҧшьгарала.

 

Урыстәылатәи аделегациа рҭааит Апаталогиеи атерапиеи рҧышәарҭатә институт, Аҟәатәи афизика-техникатә институт, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет, иара убас В.Камаров ихьӡ зхыу Аҟәатәи ашколи.

 

“Ҳмаамынқәа ари иуникалтәу апроект “Марс-500” иалахәхарц рылшоит. Ари ҳаҭҵааратә институт азы иинтересу аперспектива змоу жәалагалоуп, уи иалнаршоит урыстәылатәи аҭҵаарадырратә центрқәа рыҟны аимадарақәа рышьақәыргылара аиҭарҿыцра”, - иҳәеит агентра зыҿцәажәоз.

 

1983 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҟынтә  иааизакны 8 маамынк (макака ҳәа изышьҭоу) акосмос ахь иҧырхьеит. Урҭ разыҟаҵарагь мҩаҧысуан апаталогиеи атерапиеи рҧышәарҭатә институт аҟны.

 

05.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Тҟәарчал арацәаҵхра мҩаҧгалатәуп аекологиатә шәарҭадара адҵаҟаҵарақәа ҳасаб рзуны

 

Аҟәа, Аекономика аминистр Кристина Озган аекологиатә шәарҭадара апроблемақәеи 2011 шықәсазтәи арацәаҵхра аиҿкааратә усмҩаҧгатәқәа разыҟаҵареи иазкыз аилацәажәара мҩаҧылгеит. Аилацәажәара иалахәын аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Роман Дбар, аекономика аминистр лхаҭыҧуаҩ Ираклии Черқьезиа, Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара “Тҟәарчалрацәа” адиреқтор хада Таифун Арӡынба, ашахтаусбарҭа адиреқтор Анатолии Џьынџьал.

 

Кристина Озган ҷыдала инаҵшьны иазгәалҭеит, аекологиатә еилагарақәа аҭыҧ змаз реиҭаҟалара шзалымшо. Уи ргәырҽанылҵеит, ас еиҧш афактқәа аныҟала, аҳәынҭқарра иахәҭоу асанкциақәа шаднакыло.

 

Роман Дбар иазгәеиҭеит, Зҭакҧықәра ҳәаақәҵоу аилазаара “Тҟәарчалрацәа” арацәаҵхразы аекологиатә шәарҭадара аиҕьтәразы аусурақәа шымҩаҧнагаз. Иаҳхысыз ашықәс азы Новочеркасстәи апроекттә институт аекологиатә шәарҭадара аҧҟарақәа зегьы ҳасаб рзуны ишазнархиаз арацәаҵхырҭа аус адуларазы апроект. Иара игәаанагарала, аинститут ирыднагаз апроект – арацәаҵхра еснагьтәи ахылаҧшра азҧхьагәазҭо 10 шықәса раахыс раҧхьатәи ихаҭәаау докәментуп. Иахьазы “Тҟәарчалрацәа” нап анаркит арацәаҵхра апроект аҟны иазгәаҭоу абжьгарақәа зегьы ҳасаб рзуны. Аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы игәаанагарала, арацәаҵхратә ааглыхра ахаҭарнакцәа арҭ абжьгарақәа ирықәныҟәалар, аҧхьаҟа аекологиатә проблемақәа акыр ишмаҷхо. Уи иара убас иҳәеит, арацәаҵхратә ааглыхра ишаанахәаз аӡқәа ррыцқьараз иреиҕьыу атехника.

 

“Иаҳхысыз ашықәсқәа рызтәи ахҭысқәа алыҵшәа аарышьҭит”, - иҳәеит Роман Дбар, убри аан уи иҳәеит, Аҳәынҭеилакы аӡқәа рҭагылазаашьа рахылаҧшра шымҩаҧнагало.

 

Аекономика аминистр Кристина Озган иазхьалырҧшит Тҟәарчал араион аҽаҧхьа игоу ахыдҵақәа ианаамҭоу ишынагӡалатәу. Зегь раҧхьа иргыланы, араион абиуџьет аҿаҧхьа иақәу ауалқәа ршәареи, автомҩақәа ишахәҭоу еиҧш рныҟәгареи. Очамчыра амшынтә баҕәаза аҭагылазаашьеи, иара убас аҳәаанырцәтәи аусуцәа ишьақәгыло алеишәа инақәыршәаны ашәҟә рҭагалареи.

 

Таифун Арӡынба иажәақәа рыла, Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара “Тҟәарчалрацәа” абиуџьет аҟны иақәу ауал ашәоит ҳазныу амзазы, иара убас автомҩақәа рыҟаҵаразы иагаз ахыдҵақәа нанагӡоит. Очамчыра амшынтә баҕәазаҟны иазҧхьагәаҭоуп арацәа ақәҵаразы ахархәара зызуу аҵакырадгьыл аҟны абетон аҭарҭәара, иара убас азеиҧш хархәаразы иаахәоуп иҷыдоу амашьына амҩақәа рҿы асаб артәаразы аӡықәҭәага.

 

Аилацәажәараҟны иара убас ирзааҭгылан аихамҩа аҭагылазаашьеи, арбеиаратә фабрика зтакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара “Тҟәарчалрацәа” ааглыхратә ҭыҧ аҭагылазаашьа уҳәа убас егьырҭгьы.

 

05.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Тҟәарчал араион ауааҧсыра рыдкылара мҩаҧигеит

 

Аҟәа, Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Тҟәарчал араион ауааҧсыра рыдкылара мҩаҧигеит. Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада идкыларҭахь иааит 36-ҩыуаак.

 

Араион ауааҧсыреи аҭыҧантәи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа ишьҭырхуаз азҵаарақәа иреиуан абзазаратә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәра, аҽыхәшәтәрази, аҩнқәа рхыб аҧсахреи, араионтә хәышәтәырҭа Хадеи ахшараиурҭеи рыеиҭашьақәыргылареи, аҭыҧантәи амҩақәа рырҽеиреи рзы иаҳәон афинанстә цхыраара, иара убас Аалӡга аӡиас ҭыҧкәак рыҟны аҟәарарҕәҕәаратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Ауааҧсыра рыдкылара ашьҭахь Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит, уахь ааҧхьара рыман аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәшеи, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзуреи, апаспорттә-визатә Маҵзуреи, амедицинатә усҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәа.

 

Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан аҳәынҭқарра Ахада ауааҧсыра рҟынтә иоухьаз ашшыҧхьыӡқәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа.

 

Иахьаҵәҟьа Сергеи Багаҧшь дырҭааны ибеит, аремонт-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаҧысуа ахыбрақәа. Хәҭакахьала, Тҟәарчалтәи ачаӡырҭа, астадион маҷ, араионтә хәышәтәырҭа, ахшараиурҭеи, Афырхацәа анышә иахьамадоу амемориалтә комплекси.

 

05.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Ҭырқәтәылаҟа ицара аламҭалазы аџьынџьуаа рахь иҟаиҵаз ааҧхьара

 

Акыр иаҧсоу, сыуаажәлар!

 

Мышқәак рышьҭахь  Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада зхадараҿы дыҟоу аделегациа Ҭырқәтәыла иаҭаараны иҟоуп.  Сара акрааҵуеит Ҭырқәтәылаҟа  снеины, сыуаажәлар шәахьынхо аҭыҧқәа  сырҭаарц агәҭакы сыможьҭеи.  Дарбанызаалакь Аҧсны иахагылоу ус аҟаҵара иуалуп. Избанзар нхыҵгьы-аахыҵгьы инхо аҧсуаа аҭоурых еиҟәнашаз жәларык ҳауп. Иахьа зшьапы ақәгылара иаҿу аҧсуа ҳәынҭқарра алахьынҵеи, уи ҧхьаҟатәи аҧеҧши рзы аҭакҧхықәра  еицҳадуп зегьы.  Сҩызцәеи сареи арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла  ҳнеиртә алшара ҟалеит аҭырқәа ҳәынҭқарра анапхгара   ирыбзоураны.

 

Убри инадҳәаланы, агәра ганы сыҟоуп Аҧсны аделегациа Ҭырқәтәыла  аҟазаара апрограмма,  егьырҭ  иазгәаҭан иҳамоу ҳаиҧыларақәа  Ҭырқәылатәи азакуанқәа ирықәыршәаны, аҭырқәа ҳәынҭқарра пату ақәҵаны ишымҩаҧаҳго.

 

Ҳара еснагь ҳаҭырла  ҳазыҟоуп  адунеи  аҳәынҭқарра дуқәа рхыҧхьаӡара аҿы иҟоу, ҳауаажәлар рыхәҭак  аҩбатәи ҧсадгьылс ирзыҟалаз Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра.

 

04.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Рауф Цымцба дҟаҵоуп Ареспублика Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс

 

Аҟәа, Рауф Цымцба дҟаҵоуп Ареспублика Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс. Уаанӡа аус иуан аиуристтә хаҿқәа ашәхтәрықәҵара Аусбарҭа аиҳабыс.

 

Иахьа Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамба ашәхтәқәеи аизгақәеи рминистрра аколлектив дыдирдырит аминистр ҿыц.

 

Цымцба Рауф Аслан-иҧа диит абҵара 23, 1956 шықәса рзы, Гагра ақалақь аҟны. Абжьаратә школ аҟны иҵара аныхиркәша ашьҭахь, 1975 ш. рзы Феодосиа ақалақь Арра-мшынтә флот аҟны ирратә уалҧшьақәа наигӡон. 1979 ш. рзы А.М.Горкии ихьӡ зхыу Аҳәынҭунивирситет (аҭоурых-иуристтә факәльтет “Азиндырра”) аҟәша дҭалоит, уи далгоит 1984 ш. рзы.

 

1984-1989 шш. рзы – атуризми аеқскәрсиақәеи рзы Аҧсныахеилак аиурситс аус иуан.

1989-1990 ш.ш. Гагра араиком апартиа адиминистративтәи афинанстәи усбарҭақәа рҟәша аинструкторс.

01.1990 ш. наркны 1990 шықәсанӡа – Гагра ақалақь апрокәратура аусеилыргаҩыс.

03.1990 ш. инаркны 1992 ш. – Гагра ақалақь Аҳәынҭқарратә шәахтә инспекциа аиҳабыс.

1994 шықәса инваркны 2006 шықәсанӡа – Гагра араион ашәахтә инспекциа аиҳабыс.

2006 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аиуристтә хаҿқәа ашәхтәрықәҵара Аусбарҭа аиҳабыс.

 

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара драбуп.

 

04.04.2011  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада