AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 
 Мшаҧымза 22 рзы Германиа, аӄалаӄь Ҳамбург аеҭнографиатә музеи аҿы имҩаҧысит Аҧсны амш

 

Мшаҧымза 22 рзы Германиа, аӄалаӄь Ҳамбург аеҭнографиатә музеи аҿы имҩаҧысит Аҧсны амш («Abchasientag»). Уи еиҿкаан Германиа иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра, аҧсуа-абаза диаспора ркомитет “Pro Abkhazia“, амузеи анапхгара (апроф. В. Киопке) рымч ала. Иӄәгылоз ражәахәӄәа рызкын Аҧсны аҭоурых, аеҭнографиа, аҧсуа-абаза бызшәаӄәа, Аҧсны аекономика, аҟазара.

 

Аҧсуа делегациа напхгара аиҭон Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза Жәлар Рассоциациа (Абаза) апрезидент, акад. Т.М.Шамба. Уи иалан: Урыстәылатәи Аҵарадырраӄәа Ракадемиа аеҭнологиеи антропологиеи ринститут аҵарадырратә усзуҩы ҧхьагыла И.Д.Анчабаӡе; апоет, аеҭнолог Д.К. Чачхалиа; Аҧсны Аекономикатә Ҿиара Апартиа анапхгаҩы Б.Т.Быҭәба, Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза Жәлар Рассоциациа апрезидент иабжьагаҩ Б.В.Кобахиа,

Урыстәылатәи Афедерациа Ажурналистцәа Реидгыла иалоу А.И.Непрошин, москватәи абаза диаспора Ахантәаюы М.Х.Урчуков, аӄ. Москва «Астудентцәа рдиаспораӄәа Реидгыла» апрезидиум иалоу М.Камов.

 

Аӄырҭуа цҳаражәҳәареи уи аусзуцәеи иага аконференциа аҟалара иаҧырхагарц рҽазыршәазаргьы, уи аӄәҿиара ду аманы имҩаҧысит.

 

Уи аартуа, апроф. Киопке иҳәеит:

 

«Хара изныкымкәа аӄырҭуа культурагьы ҳазааҭгылахьеит. Ҳара азин ҳамоуп, иаҳуалынгьы иҳапхьазоит, аҧсуа жәлар ахь азҿлымҳара ааҳарҧшырц. Уи ажәлар ҳшалацәажәо, иарбанзаалакгьы хаҭарнакрак иҳанаҳәарц дҵас иҳамам.Кавказ иҟоу аситуациа даара иуадаҩуп. Анемеццәа рзыҳәан ицәгьоуп, арҭ ауадаҩракәа реилкаара.Уи азоуп ҳара Аҧсны ҳазааҭгыланы уи атәы зеиҭаҳҳәо. Ҳара иаадыруан, ари шымариам, аринахысгьы Аҧсни уи акультуреи рахь излаҳалшо ала азҿлымхара ааҳарҧшуеит.»

 

Аконференциа алагамҭазы идырбан Аҧсны Аҳәынҭӄарратә Телерадиокомпаниа аконференциа азы иеиӄуршәаны иаанашьҭыз Аҧсны иазку афильм.

 

Иӄәгылоз ражәахәӄәа рҿы хаҭала ирзааҭгылеит абарҭ азҵаараӄәа:

 

1) аҧсуаа рҭоурыхтә мҩа аетапӄәа, аҭоурыи аеҭнологиеи рдырраӄәа; амҳаџьырреи уи иахылҿиааз ауадаҩраӄәеи Кавказ ажәларӄәа рзын; Аҧсны Кавказ аеҭнокультуратә дунеи аконтекст аҿы (акад.Т.М.Шамба, аҭоурыхтә ҵар. ркандидат И.Д.Анчабаӡе)

 

2)Аҧсны иаҭаахьаз Германиатәи аҵарауааи урт Аҧсны иазку рыҭҵаамҭаӄәеи; Аҧсны аристократиатә династиаӄәа (апоет, аетнолог Д.К.Чачхалиа, ажурналист А.И.Непрошин),

 

3) абызшәа аҭоурыхи аеҭнографиеи рхыҵхырҭак аҳасаб ала, аҧсуа-абаза бызшәаӄәа Аҧсни аҳәаанырцәи рыпроблемаӄәа (афилол. ҵар. рканд. Хь.Гь. Амҷ-ҧҳа),

 

4)Аҧсны аекономика, уи аҿиара аетапӄәа, аинвестициатә проектӄәа, аекономикатә ресурсӄәа (апроф. Шьенол Иаҧрак, аекон. ҵар. ркандидат Б.Быҭәба, М.Урчуков);

 

5) ажәларӄәа рзинӄәа рыхьчара, уи иацу апроблемаӄәа рыӡбашьа амҩаӄәа (асоциол. ҵар. рканд. Б.В.Кобахиа);

 

6) аҧсуаа ртрадициатә культура (В.Рудат-Аҩӡ-ҧҳа).

 

Аҧсуа-абаза диаспора аҿар рхаҭарнакцәа ирыҧхьеит рхатәы бызшәала ажәеинраалаӄәа, Б.Шьынӄәбеи Ф.Искандери рҩымҭаӄәа рцыҧҵәахаӄәа герман бызшәала. Апрограмма хыркәшан амузыкантцәа ҿарацәа- европатәи адиаспора ахаҭарнакцәа – рыӄәгылара ала. Асасцәа ирыдгалан итрадициатәу аҧсуа чысӄәа.

 

Аҧсны амш иалахәын Германиа аӄалаӄьӄэа зегьы, иара убас Голландиа, Швеицариа, Урыстәыла, Ҭырӄәтәыла, Болгариа ухәа атәылаӄәа рҟынтә асасцәа.

 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит Европатәи Ачерӄьез Ассоциациаӄәа рыҩбагьы Рнапхгаҩцәа - Омер Ҭамзоки Левент Сиурери. Урҭ аконференциа иалаху нарҧхьеит ҩы-мз рышьҭахь Бриуссель, Европарламент аҿы иҟаларан иҟоу итрадициатәу Кавказ Амш ахь.

 

Аорганизаторцәа рааҧхьарала аконференциа иалахун Ҳамбург иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсул-абжьагаҩ Станкевич, Болгариа иҟоу Аҧсны Ареспублика Ахаҭарнак Омер Маршьан.

 

Аконференциа далахәын Агерцог Хуно фон Ольденбург, Аҧсны еицырдыруа апринц Александр Ольденбург иуоу.

 

Урыстәылеи Аҧсни рҟынтәи аконференциа иалахуз апроф. Киопке, Ачерӄьез Ассоциациаӄәа рнапхгаҩцәа, аҿар рхаҭарнакцәа ҳамҭас ирырҭеит Аҧснынтәи асувенирӄәа, ашәҟәӄәа.

 

Еиҿкааз апресс-конференциа аҿы асасцәа азҵаараӄәа рацәаны ирырҭеит Германиатәии Ҭыркәтәылатәии ажурналистцәа (астатиаӄәа руак анылахьеит агазеҭHürriyet“, 23.04.2012).

 

Ажәахәҟаҵаҩцәагьы, атәылакәа рацәаны ирхаҭарнакыз ажурналистцәагьы иазгәарҭеит аконференциа аинформативра ҳаракы, ари еиҧш иҟоу афорумӄәа Аҧсны маҷны иахьырдыруа Европа рымҩаҧгара аҵак ду шамоу.

 

Урт аӄәгәыӷуеит, аконференциа, иара убас хаз шәҟәны иҭыжьхо, интернет ианҵахо  аматериалӄәеи аринахыстәи ган-рацәалатәи Аҧсни Европа атәылаӄәеи реимадара ашьаӄәыргыларазы алагала ҟарҵап ҳәа.

 

Аҧсны Ареспублика Германиа иҟоу зыгәра гоу ахаҭарнак,

 

Хь. Амҷ-ҧҳа

 

 Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Мшаҧымзатәи ажәыларақәа 19-шықәса рхыҵра

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Мшаҧымзатәи ажәыларақәа 19-шықәса рхыҵра. Мшаҧымза 15-16 рзы аҧсуаа аибашьцәа Аҟәа ахақәиҭтәра азы ажәылара ҕәҕәа рхыргеит. Ҩымш ицоз аоперациа қәҿиарала ахыркәшара залмыршахеит, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа еиҭаҵыр акәхеит.

 

Мшаҧымзатәи ажәыларақәа ирылахәы аибашьцәа уи ргәаладыршәоит аибашьра аҟны зегь раасҭа иуадаҩыз акәны. Уаҟа Аҟәа ахақәиҭтәразы иҭахеит 222 – ҩык аибашьцәа, 23 – ҩык хабарда иабжьаӡит, ирацәаҩны ахәрақәа роуит.

 

Мшаҧымзатәи ажәыларақәа раан иҭахаз ргәаладыршәарц Аҟәа, Ахьӡ Аҧша апаркаҿ Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаҧысит.

 

Уи иалахәын аибашьра аветеранцәа, Аҧсны Ахада Александр Анқәаб, ахада ихаҭыҧуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара ахантәаҩы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа, апарламент адепутатцәа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.

 

Арҭ амшқәа ргәаларшәаразы есышықәса ҳреспубликаҿы иҭахаз рбаҟақәа рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵоит, иадыркуеит ацәашьқәа, ашколқәа рҟны имҩаҧысуеит Мшаҧымзатәи ажәылрақәа ирылахәыз аибашьцәа рҧыларақәа.

 

15.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Гагра араион аҟны ашәахтәқәа реизгаразы аҭагылазаашьа аиҕьхара иаҿуп

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб дидикылеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Рауф Цымцба.

 

Атәыла ахада дазҵаауан аҵыхәтәантәи ҩымыз рыҩныҵҟа аминистрра иадыз аплан шынанагӡаз атәы.

 

Аминистр иажәақәа рыла, февральтәи арбагақәа еиҳа еиҕьуп ианартәиқәа раасҭа. Араионқәа зегьы рҟны аплан ишахәҭоу анагӡара иаҽуп. Насгьы иара иҳәеит, ҵыҧх Очамчыреи Гагреи рраионқәа рҟны апланқәа рынамыгӡара азгәаҭазгьы сынтәа урҭ ибзианы рынагӡара ишаҿу.

 

15.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Иҵит 99-шықәса диижьҭеи ашәҟәыҩҩы Георги Гәлиа

 

Иахьа иҵит 99-шықәса диижьҭеи ашәҟәыҩҩы Георги Гәлиа. Аҧсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҧа – Георги Гәлиа диит 1913 ш. Мшаҧымза мза 14 рзы. Занааҭла динџьнырын. Аус иуан Амшын Еиқәатәи аихамҩақәа рыргылараҿы. Ажурналистикеи асахьаҭыхреи дазҟазан.

 

1930 шықәса раахыс аҩра иҽазикит. Дравторуп зхыҧхьаӡара рацәоу астатиақәа, ажәабжьқәа, ароманқәа, аповестқәа. Иҩымҭақәа рзыҳәан ианашьоуп аорденқәа жәпакы. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианашьан “Саб изкәу аповест” зыхьӡу аҩымҭазы.

 

Иҧсҭазаара далҵит 1989 шықәса рзы. Джуп Аҟәа агәаны. Москва дахьынхоз аҩыны аҟны уажәыгьы икыдуп амемориалтә ҕәы.

 

14.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит ажурнал “Евразиа” аҭыжымҭа аӡыргара

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит ажурнал “Евразиа” аҭыжымҭа аӡыргара. Италиатәи ажурнал аҟны ианылеит Аҧсны иазкәы анҵамҭа. Уи автор – апрофессор, асоциолог Мауро Мурџьиа, ажурнал аредактор Филиппо Педерцин дицны Аҧсныҟа дааит.

 

Ажурнал “Евразиа” ҭыҵуеит Италиа, тиражла 10.000 инаӡоит. Иара еиҳараӡак инаргоит Италиатәи ақалақь дуқәа рбиблиотекақәа рахь, насгьы италиатәи адипломатиатә миссиақәа ахьыҟоу атәылақәа рахь, адәқьанқәа рҿгьы иуҧылоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәеи атәылахьчара аминистрреи рҟны лассы-лассы инаргоит.

 

Апрофессор Мауро Мурџьиа иоуп итало-аҧсуа аиҩызаразы ассоциациа ашьаҭа азыркыз. Иара изныкымкәан Аҧсныҟа даахьеит, аҧсуа жәлар дырҧылон, иҭиҵаауан аҭоурых, еилыикаауан аратәи апроблемақәа. Апрофессор ибзианы еилыикаауеит ҳара ҳапроблемақәа, егьилшеит урҭ истатиаҿы аарҧшра. Мурџьиа Аҧсны Ареспублика ҳәа ауп дшахцәажәо, уаҟа иҳәоит ишизеилымкаауа ас еиҧш ижәытәӡатәу аҭоурых змоу аҳәынҭқарра Европатәи Аидгыла иахьазханамҵо.

 

Итало-аҧсуа аиҩызаразы ассоциациа ыҟаӡам ҳәа иқәгылан Италиатәи Қарҭтәи адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа. Аха адипломатиатә еиҿагыларақәа алҵшәа бзиақәа ааргеит. Ауаажәларра Аҧсны азы аинтерес ду рызцәырҵит. Филиппо Педерцин иҳәеит, дара ишеилыркааз Қарҭ иамоу аагәаанагарада даҿакы шыҟоугьы. “Аҧсны иазкны ақырҭцәа ракәым, аҧсуаа роуп изҳәалаша”, - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Насгьы иҳәеит, ари астатиа раҧхьаӡатәи ашьаҿа шакәы, уи ишашьҭанеиуа егьырҭгьы.

 

Мауро Мурџьиа агәра ганы дыҟоуп ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа шаҧҵалатәу ала. “Ҳара уи азы иҳамоуп аҭагылазаашьа бзиақәа. Уажәы Италиа аҽыхәышәтәра дыҟоуп аҧсуа - Беслан Ладариа. Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль ааразы ҳҽазыҟаҳҵоит, иааҳаҧхьалоит аспорттә командақәа еиуеиҧшым аицлабрақәа ралархәразы. Иахьа акәымзар, уаҵәы Аҧсны азхаҵара аиуеит. Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵараҿы США иамоу агәаанагара еилкаауп, аха сара исзеилкаауам Европатәи Аидгыла агәаанагара”, – иҳәеит апрофессор.

 

12.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Мшаҧымза 10 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа

 

Мшаҧымза 10 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа. 35 ҭыҧ ахьыҟаз иқәгылан 114 –ҩык акандидатцәа. Зныктәи абжьыҭиирала алхрақәа мҩаҧысит алхратә ҭыҧ хадақәа 13 рҟны. Егьырҭ алхратә ҭыҧ хадақәа рҟны акандидатцәа алхыҩцәа рыбжьқәа ахьырзымхаз иахҟьаны (алхрақәа иалахәыз алхыҩцәа рыҧхьаӡара 50% инамӡаӡеит) алхрақәа аҩынтәраан имҩаҧгахоит.

 

Зынӡа алхрақәа рҽрыладырхәит 44, 50% абжьыҭииразы ашәҟәы иҭагалах алхыҩцәа.

 

Алхрақәа ирылахәыз Жәларбжьаратәи анаҧшҩцәа иазгәарҭеит, алхрақәа аилагарақәа рыда ишымҩаҧысыз.

 

Аҩбатәи атур мҩаҧгахоит Мшаҧымза мза 24 рзы.

 

12.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Гьаргь Агрбеи Гәрам Барганџьиеи Аҧсны Жәлар Реизара аилакқәа рхантәаҩцәас иалхуп

 

Иахьа Жәлар Реизара адепутатцәа економикатә хырхарҭала ҩ-еилакык рхадацәа алырхит.

 

Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахадас далырхит адепутат Гьаргь Агрба, аекономикатә политикеи, ареформақәеи аинновациақәеи рзы аилакы ахадас дҟалеит Гәрам Барганџьиа.

 

Раҧхьа адепутат Рауль Ҳаџьымба абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахадас дықәиргылеит Беслан Ҵнариа. Иара иазгәеиҭеит Беслан Ҵнариа аҧышәа змоу економист шиакәу. Аха Ҵнариа дахьықәдыргылаз иҭабуп ҳәаны мап ацәикит Аилакы ахантәаҩыс иҟаҵара. Адепутат аҳәара ҟаиҵеит иара асоциалтә политикеи агәабзеирахьчареи реилак ахь диаргарц.

 

Аҵыхәтәан Гьаргь Агрба икандидатура мацара ауп иаанхаз, аилатәара иалахәыз ҷ0-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 28-ҩык рыбжьқәа ирҭеит Гьаргь Агрба.

 

Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациақәеи рзы Аилак ахадарахь ҩыџьа ркандидатурақәа ықәгылан, Артур Амқәаби Гәрам Барганџьиеи.

 

Амқәаб изы рыбжьы рҭиит 11-ҩык, Барганџьиа изы рыбжьы рҭиит 19-ҩык адепутатцәа.

 

11.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа Аҧснынтәи еиҳа ачымазаҩцәа рыдыркылалоит

 

Агәабзиарахьчара аҭагылазаашьа азҵаара иазкын аҳәынҭқарра ахада Алекснадр Анқәаб имҩаҧигаз аиҧылара, уи иалахәын агәабзиарахьчара аминистрреи ахәышәтәырҭақәеи рхаҭарнакцәа.

 

Аиҧылараҿы хаҭала иалацәажәеит аҧсуа ветеран Қырҭтәыла ахәышәтәырҭаҿы иҧсҭазаара иалҵра атәы.

 

Аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит ачымазаҩ иҭагылазаашьа зеиҧшраз ахәышәтәырҭаҿ даннарга. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла урҭ ирылшоз зегьы ҟарҵеит, аха ачымазара ахьанҭара иахҟьаны ихәартә алшара шрымамыз, убри атәы ачымазаҩ иуацәа ирарҳәеит.

 

«Ҳара еилаҳкаауеит ҳауаажәлар Қырҭтәылаҟа рцара мзызс иамоу, урҭ Аҧсны рыхәшәтәра аӡәы иҭахым ҳәа акәӡам изыхьҟоу. Аха ҳара есымша иҳамаӡам уи еиҧш алшара ауаа рыхәшәтәразы»,- иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

 

Aбри аамҭазы аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, Урыстәыла арҭ ашықәсқәа зегьы ҳара адгылара ду шҳанаҭо. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит урыстәылатәи агани ҳареи аиҿцәажәарақәа шҳабжьоу иаарласны Аҧснынтәи Урыстәыла зҽызыхәшәтәуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иазҳахарц.

 

«200-ҩык рҟынӡа ачымазаҩцәа рыдыркылон москватәи ахәытәырҭақәа. Ҳара урҭ аимадарақәа еиҭашьақәҳаргылеит. Убри аамҭазы иацаҳҵоит ҳхәышәтәырҭақәа маругала реиқәыршәара»,- иҳәеит Александр Анқәаб.

 

Уи агәра шиго иҳәеит Аҧсны ауааҧсыра Қырҭтәылаҟа аҽыхәшәтәра имцар ада ҧсыхәа рмоуа ишыҟамло.

 

Абри атәы аарыцҳаит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу аинформациатә Усбарҭа аҟынтәи.

 

11.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Жәлар Реизара ахәбәатәи ааҧхьараҿы иҟоуп аилакқәа ааба

 

Аҧсны Жәлар Реизара ахәбәатәи ааҧхьараҿы иҟоуп аилакқәа ааба.

 

1. Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩ изинқәеи рзы Аилак

2. Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак

3. Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинвестициақәеи рзы Аилак

4. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак

5. Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аилак

6. Аҵарадырреи, акультуреи, анаукеи, адини, аҿари аспорти русқәа рзы Аилак

7. Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи, ҳтәылауааи реимадаразы Аилак

8. Ааглыхратә политикеи, аҧсабара абеиареи, аекологиеи рза Аилак

 

Жәлар Реизара аҧшьбатәи ааҧхьараҿы иҟан аилакқәа 11.

 

Бжьыҭирала адепутатцәа иалырхит аилакқәа рхантәаҩцәа.

 

1. Валери Агрба (Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩ изинқәеи рзы Аилак)

2. Фазлыбеи Аҩӡба (Атәылахьчареи аилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак)

3. Аполлон Гәыргәылиа (Асоциалтә политикеи, аџьеи агәабзиарахьчареи рхы Аилак)

4. Ахра Бжьаниа (ҵарадырреи, акультуреи, анаукеи, адини, аҿари аспорти русқәа рзы Аилак)

5. Иури Зухба (Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи, атәылауааи реимадаразы Аилак)

6. Нодик Кәыҵниа (Ааглыхратә политикеи, аҧсабара абеиареи, аекологие рза Аилак)

 

Иаанхаз аилакқәа ҩба рхантәаҩцәа рызҵаара Жәлар Реизара адепуптатцәа азыхынҳәуеит уаҵәы, иқәгыалз акандидатурақәа иахәҭаз абжьқәа ахьырмоуз иахҟьаны.

 

10.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Леонид Лакербаиа даҭааит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аботаникатә институт

 

Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа даҭааит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аботаникатә институт. XIX ашәышықәсазы иргылаз ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь инеиуеит. Уаанӡа араҟа иҟан ақыҭанхамҩатә институтгьы. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) ари ахыбра ааха ҕәҕәа аиуит.

 

Аргылаҩцәа ирылдыршеит ахыбра архитектура аиқәырхара. Уажәазы ихыркәшоуп аҩныҵҟатәи аусурақәа, ахыбра акәша-мыкәша арҧшӡарақәа ирҿуп. Араҟа аремонттә усурақәа мҩаҧысуеит Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара акомплекстә план инақәыршәаны.

 

Аҧыза-министр аргылаҩцәа русура ахә ҳаракны ишьеит.

 

Ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ҳазну ашықәс аҧхынтәи асезон алагамҭазы.

 

10.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Александр Анқәаби ҿыц Аахыҵ Уаҧстәыла иалху аҳәынҭқарра ахада Леонид Тибилови ҭелла еицәажәеит

 

Иахьа ҭелла еицәажәеит Аҧсны ахада Александр Анқәаби ҿыц Аахыҵ Уаҧстәыла иалху аҳәынҭқарра ахада Леонид Тибилови ҭелла еицәажәеит.

 

«Аҧсны ажәлар Аахыҵ Уаҧстәыла алахьынҵа хьаас ирымоуп. Ҳара ҳақәгәыӷуан аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ҭышәантәаланы имҩаҧысып ҳәа»,- иеиҳәеит Аҧсны ахада Аахыҵ Уаҧстәыла ахада. Александр Анқәаб Леонид Тибилов идныҳәало иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи анаҧшцәа иҟарҵыз ахәшьара дшеигәырӷьо.

 

Леонид Тибилов Александр Анқәаб иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәалареи азеиӷьшьарақәеи рзы. Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхадацәа реиҧылара амҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит, аха арыцхә макьана иазгәарымҭаӡацт.

 

Абри атәы ааицҳаит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә цҳаражәҳәаҩ Кристиан Бжьаниа.

 

09.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҳәынҭқарра ахада Арвелод Кәыпраа идиныҳәалеит Аҳәынҭқарратә премиа ианашьара

 

Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб дидикылеит апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа,- аарыцҳаит Аҧсныпресс ахь Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу аинформациатә Усбарҭа аҟынтәи.

 

«Аҧсуаа итрыдициатәым ркультура азҵаарақәа» амонографиа автор 2011 шықәсазы ианашьан Г. А. Ӡиӡариа ихьӡзху Аҳәынҭқарратә премиа.

 

А. Анқәаб аҵарауаҩ идиныҳәалеит апремиа ианашьара. Изеиӷьеишьеит агәабзиара. Иара иазгәеиҭеит аҧсуа наука алшара бзиақәа шамоу.

 

«Ҳара есымша ҳазыхиоуп аҵарауаа рыцхраара, еиҳаракаҵарауаа қәыҧшцәа, урҭаҳәаанырцә аҵара рышьҭра. Сара шәареи егьырҭ аҵаарауааи рахьаҳәара ҟасҵоитаамҭа шәамеигӡакәа аҵаруаа қәыҧшцәа азыҟашәҵаларц. Ҧхьаҟа ацарауадаҩхоит анаука аҟынтәи адгылара бзиа ҟамлар»,- иҳәеит Александр Анқәаб.

 

Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ашазыхиоу ҳаамҭа иахәо анаукатә усумҭақәа рҭыжьреи реиҭаҭыжьреи.

 

Арвелод Кәыпраа Аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит дахьидикылаз, жәалаакәымкәа, аусқәа рыла анаука дахьадгылоу азы.

 

06.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсуаа азыхиоуп Сириантәи Аҧсныҟа нхара аиасра

 

Сириатәи Арабтәи Ареспубликаҿы инхо аҧсуаа рыҧсадгьыл ахь архынҳәра азҵаарақәа ирызку аилатәара мҩаҧигеит аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб. Аилатәара иара убасгьы иалахәын аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭуҧуаҩ Иракли Хьынҭба, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба, уи ихаҭыҧуаҩ Аҳмат Маршьан.

 

Зураб Адлеиба Аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Сириаҟа ицаз аделегациа алҵшақәа. Иара иажәақәа рыла ашықәс аҩнуҵҟа 90-ҩык рҟынӡа рыҧсадгьыл ахь ахынҳәра иазыхиоуп. Иахьазы 30-ҩык хиоуп ахынҳәразы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп ахәыҷқәагьы.

 

Аилакы ахантәаҩы иазгәеиҭеит аматерилалтә цхыраара шрыҭахо зхатә мчыла аара зцәуадаҩхо.

 

Александр Анқәаб дазҵаауан ихынҳәуа рынхаразы иаҧҵоу аҭагылазаашьа зеиҧшуроу, иара убасгьы уажәазы иҟарҵахьоу.

 

Зураб Адлеиба иҳәеит ҧшьымз рыҩнуҵҟа ихынҳәыз асасааирҭаҿы ишыҟазаауа, уи ашьҭахь Гҽылрыҧшь араион аҿы ауадақәа рырҭоит. Иазгәаҭоуп аҧсшәеи аурыс бызшәеи дырҵаразы акурсқәа, ахәыҷқәа ашкол ахь ицартә алшара рыҭаразы, аиҳабцәа аусура иалагартә еиҧш аҭагылазаашьа рзаҧҵаразы.

 

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуҩа Иракли Хьынҭба аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Сириа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсултә усбарҭеи аимадара шрыбжьоу. Аконсултә усбарҭаҿы шьҭрала аҧсуаа ацхыраара рзыҟарҵоит ирызҵәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы.

 

Александр Анқәаб иазгәеиҭеит Сириа инхо аҧсуаа рҟынӡа ишнагатәу Аҧсны рыҧсҭазаашьазы иаҧҵоу аҭагылазаашьа зеиҧшроу.

 

Аҳәынҭқарра ахада Аҧсадгьыл ахь архныҳәразы Аҳәынҭқарратә еиалкы иадиҵеит Сириантәи аҧсуаа рырхынҳәразы аиҿкааратә усмҩаҧгатәқәа рыӡбара иалагарц азы.

 

Абри атәы аанацҳаует аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу аинформациатә Усбарҭа.

 

06.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауаажәларратә усзуҩы, апоет, прозаик Борис Гәыргәлиа

 

Иахьа Аҧсны ауааҧсыра аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауаажәларратә усзуҩы, апоет, прозаик Барис Гәыргәлиа.

 

Еицырдыруа апоет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, апублицист, арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Борис Алмысхан-иҧа Гәыргәлиа иҭахара ҳтәыла ауааҧсыра зегьы аршанхеит.

 

Борис Алмысхан-иҧа Гәыргәлиа диит 1935 шықәса ииуль 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 1948 ш. рзы далгеит Кәтолтәи ацхыраагӡатә школ. 1953 ш. рзы Тамшьтәи абжьаратә школ хыркәшаны дҭалеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, дагьалгеит 1958 шықәса рзы. 1964-1967 ш. рзы иҵара иациҵон адунеизегьтәи алитературатә институт аҟны (аспирантура). 1964 ш. рзы КПСС далан. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессорс дыҟан. Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны хадара азиуан агәманитартә ҭҵаарадыррақәа ркафедра. Аҧсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидгылеи далан. 1997-2002 ш. рзы дыҟан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс.

 

Борис Гәыргәлиа дравторуп хыҧхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа реизгақәа, астатиақәа, аочеркқәа.

 

Борис Гәыргәлиа иҧа – Аҧсны Афырхаҵа Абзагә Гәыргәлиа Аҧсадгьыл ахьчараз дҭахеит.

 

Ашәҟәыҩҩы анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Кәтол. Уи абзиараз ҳәа иарҳәарц уахь инеит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа. Алахьеиқәҵаратә митинг аҟны иқәгылан ашәҟәыҩҩцәа Даур Наҷҟьебиа, Анзор Мықәба, Геннади Аламиа, Мушьни Лашәриа, Владимир Занҭариа, академик Олег Шамба, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Константин Кәыҵниа.

 

06.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Аботаникатә баҳчаҿы еиҭаҳауп Сергеи Багаҧшь игәаларшәара иазкәу аҵла

 

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны еиҭаҳауп Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь игәаларшәара иазкәу аҵла.

 

“Ҩ-метрак иҟоу акипарисҵла Лавсона 45 метра аҟынӡа еизҳар алшоит. Иара аагоуп Аладатәи Американтәи”, - иҳәеит академик Сергеи Бабиа.

 

Агәаларшәаратә ҵла аиҭаҳара ацеремониа иалахәын Аботаникатә Институт аусзуҩцәа, Аҧсны аҭҵаарадырратә Академиа ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, Сергеи Багаҧшь иҭаацәа.

 

2011 шықәса Мшаҧымза мзазы аботаникатә баҳчаҿы еиҭаҳан Аҧсны раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Арӡынба игәаларшәара иазкәу атиульпанҵла.

 

06.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟны иаатит агемодиализ аҟәша

 

Мшаҧымза 6 рзы Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟны иаатит агемодиализ аҟәша. Агемодиализ аҟаҵаразы аҳәаанырцә ицалараны иҟаз зҷаҷа зыхьуа ачымазаҩцәа уажәшьҭа ирымоуп аҭагылазаашьа араҟа аҽыхәшәтәразы.

 

Агемодиализ аҟәша Аҧсны иаартуижьҭеи ҩ-мчыбжь роуп иҵуа. Уи аамҭа иалагӡаны аҟәшахьы аҽыхәышәтәразы инеихьеит 12 –ҩык ауааҧсыра. Дара мчыбжьык ахь хынтә ршьа арыцқьаразы апроцедура иахыслар ауп.

 

Аҳақьымцәа излазгәарҭаз ала, араҟа аҽыхәышәтәразы аҭагылазаашьа змамкәан аҳәаанырцә ицаны иҟаз анаалакь, ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара ари аҟәшахьы 35-ҩык рҟынӡа ацлараны иҟоуп. Аҟәша аус ауеит ашәахьа, ахаша, ахәаша 8.00 сааҭ инаркны 20.00 сааҭ рҟныӡа. Агемодиализ цоит 4,5 сааҭ.

 

Аҟәша еиқәыршәоуп иақәнагоу амыруга ҿыцқәа рыла. Агемодиализ нарыгӡоит аҿазыҟаҵара бзиа змоу апрофессионалцәа. Араҟа иҟоу ҩпыџьа аҳақьымцәа: Ирина Андреева – араниматологи анефрологи, Марҭа Ҳарзалиа – анефролог, абжьаратә амедицинатә персонал Шәача аҽазыҟаҵара иахысит. Ачымазаҩцәа хәыда-ҧсада рҽырхәшәтәуеит.

 

06.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Гагра акапиталтә ремонт ашьҭахь иаатит ареспубликатә ортопедиатә центр

 

Гагра акапиталтә ремонт ашьҭахь иаатит ареспубликатә ортопедиатә центр. 1994 ш. рзы Раҧхьаӡатәи Аҧсны Ахада Владислав Арӡынба иаҧшьгарала Гагра иаатит апротезқәа рыҟаҵаразы аҟәша. 1995 ш. рзы Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак (МККК) ацхыраарала иаартын ортопедиатә центр.

 

Иахьатәи аамҭанӡа уаҟа иҟарҵон зыхә мариаз “женеватәи” атехнологиала ашьапы апротезқәа. Ацентр аҟны аибашьра аинвалидцәа хәыда-ҧсада апротезқәа рзыҟарҵон.

 

Аҧсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь ибзоурала апротезқәа рыҟаҵаразы атехнологиа ҿыцқәа рахь ииасын.

 

Ацентр ахыбреи, акапиталтә ремонт азыҟаҵареи, апротезқәа рыҟаҵаразы атехника ҿыцқәа раагареи рҟны афинанстә цхыраара атәыла аиҳабыра иазыҟарҵеит. Усҟан Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Александр Анқәаб уи ахылаҧшра азиуан.

 

Иахьа араҟа ихыркәшоуп акапиталтә ремонт. Ачымазаҩцәеи аҳақьымцәеи рзы иаҧҵооуп ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьа маншәалақәа.

 

Ацентр аартра ацеремониа иалахәын аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Григори Еныкь, ареабилитациатә центр аҳақьым хада Валери Аҩӡба, Аџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993ш.) аветранцәа арегионалтә еидгыла ахантәаҩы Руслан Инаҧшьба, иара убас араионқәа зегьы рҟынтәи аинвалидцәа рхеилакқәа рхантәаҩцәа, ажурналистцәа.

 

Аҟәша аиҳабы Зинаида Данелиан еизаз зегьы идлырбеит ацентр шеиқәыршәоу. Араҟа протезқәа ҟарҵоит анемецтә фирма «Otto Bock» иаҿырҧшны.

 

Ацентр адиректор Валери Аҩӡба иазгәеиҭеит, апротезистцәа руалафахәы 20 нызықь мааҭ рҟнынӡа ишыҟало. Иара иажәақәа рыла, уи знапы алакәы аҧышәа змоу аспециалистцәа роуп. Аҧыза-министр Леонид Лакербаиа ихәҭакахьала иҳәеит, ари ахҭыс иара изы ишҳамҭа ду. Насгьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ацхыраара ҟазҵаз МККК ахаҭарнакцәа.

 

Ортопедиатә центр аремонт азыуреи атехникала аиқәыршәареи рзы иазоужьын 11 млн. мааҭ.

 

06.04.2012 Аҧсныпресс

 

 «Аҧсуа хәыҷқәа-аҧсуа школқәа рахь»

 

Аҧсуа бызшәа, аҧсуа школқәа, урҭ рҿы аҧсуа хәыҷқәа аҵара дырҵара апроблемақәа ирызкын Гагра араион Бзыҧҭа аҳабла Администрациаҿы имҩаҧгаз аизара. Аизарахь ааҧхьара рыман аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан, аҵара аминистр Даур Начҟьебиа, аҧсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд ахантәаҩы Гәында Кәыҵниа-ҧҳа, Гагра араион ахада иусқәа назыгӡо Григори Енықь, ашкол адиректорцәа, араион аҵара аҟәша аиҳабацәа.

 

Иқәгылоз араион ауааҧсыра ирҳәон аҧсу бызшха аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ауадаҩхра ишаҿу. Аурыс школқәа рҿы ирацәахоит аҧсуа ҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа, убри аамҭазы аҧсуа школқәа рҿы урҭ рхыҧхьаӡара маҷхоит. Уи зыдҳәалоу1 Иҟаҵатәуи аҧсуаа рхәыҷқәа аҧсуа школқәа рҿы аҵара рҵаларц, иацәыҧхамшьакәа аҧсуаа рхатәы бызшәала ицәажәаларц?

 

Гагра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Лев Гыцба игәаанагарала ихадоу ароль нанагӡар алшоит аҧсуа телехәаҧшра, уи ашьыжь инаркны хәлаанӡа адырраҭараҿы иҟазар шакәу, иҭнажьуа ахатә материалқәа азымхозар, аҧсшәахь еиҭаго акиносахьақәа шышьҭлатәу. Иара иажәақәа рыла еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны Гагра араион ауааҧсыра зегьы ирымаӡам алшара аҧсуа телехәаҧшра ахәаҧшра.

 

Гыцба дазааҭгылан иазгәеиҭеит араион аҿы иреиӷьу школны ишыҟоу Краснодартәи атәылаҿацә аҧарақәа рыла еиҭашьқәыргылоу Гагратәи аҩбатәи аурыстә школ. «Избан Аҧсны анапхгара абас еиҧш ҳаамҭа иаҵанакуа техникала еиқәыршәаны аҧсуа школқәа зыҟарымҵо? Ганкахьала аҧсуаа рхәыҷқәа аурыс школқәа рахь аҵара иахьырышьҭуа уи иадҳәалазар алшоит. Ҳара жәларык еиҧш ҳаиқәхоит ҳбызшәеи ҳкульутреи ҳзеиқәырхар. Аҧсуа школқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегь рыла иманшәаланы ианыҟалалак уахь аҭаацәагьы рхәыҷқәа аҵара ирышьҭлоит»,- иҳәеит иара.

 

Араион Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Закан Агрба аҧсуеи аурыси школқәа рҿы шаҟаҩ ахәыҷқәа аҵара рҵо рхыҧхьаӡара далацәажәеит. Уи агәынамӡара ааирҧшит аурыс школқәа зегьы рҿы аҵара зҵо аҧсуа хәыҷқәа рхыҧхьаӡара шеиҳау. Уи ҿырҧшыгас иааигеит Гагратәи аҩбатәи аурыс школ, уа аҵара зҵо рҟынтәи 38% аҧсуаауп, 23% аурысцәоуп.

 

Закан Агрба даҿагылаӡам аурыс бызшәа аҵара, аха уи иажәақәа рыла, шаҟа ибзиоу аҭагылазаашьа аурыс школ аҿы, убри аҟара иазеицәоуп уи аҧсуа школ.

 

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Марина Пап-ҧҳа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы аҭагылаазшьа уадаҩуп лҳәеит, уа лара лажақәа рыла ахәыҷқәа рзы алитература маҷуп.

 

Аизараҿы иара убасгьы иқәгылеит араҵҩаы Бубуца Џьыкырба, аҧсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд ахантәаҩы Гәында Қәыҵниа-ҧҳа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан.

 

Гәында Қәыҵниа-ҧҳа еизаз ирзеиҭалҳәеит атәыла ахадара аҧара ишамеигӡо Аҳәынҭқарратә фонд  азы ахәыҷқәа рзы исахьаркыроу алитература ҭнажьларц. Лара аизара иалахәыз идлырбеит арҵагатә аудио, авидеодискқәа, аҧсуа бызшәа арҵага шәыҟәқәа, ашколхәыҷқәа рзы «Аҧсны аҭоурых» аҧсуа бызшәала, арцәажәагақәа,  убас егьырҭгьы. Аизара иалахәыз реиҳараҩк ас еиҧш иҟоу арҵагақәа шыҟаз рыздырӡомызт.

 

Кәыҵниа иазгәалҭеит 50 нызқь шәҟәы рҟынӡа атәыла ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рыбжьара ишыршаз амалаҳәа. Адәқьанқәа рҿы ашәҟәқәа рыхәҭак рҭиуазар урҭ ирыҭныҵуа аҧара аҧсуа бызшәа арҿиаразы еиуеиҧшым апрограммақәа рахь ирышьҭуеит. Лара иазгәалҭеит Афонд аҭыжьара агәы ишҭоу ахәыҷқәа рзы акомпиутерқәа. Аҧсны ус еиҧш иҟоу ахәмарга аҭыжьра ахьзалымшо иахҟьаны Китаи иҭрыжьуеит.

 

Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Григори Енықь игәаанагарала ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы имҩаҧгалатәуп.

 

Аизара иалахәыз ааҧхьара ҟарҵеит аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аспикер Валери Бганба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, аҵара аминистр Даур Наҷҟьебиа рахь, уа иазгәаҭоуп атәыла анапхгара иаарласны ихацнаркыр шакәу аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы астратегиа ҿыц аус адулара. Аизара алахәылаҩцәа  ажәалагала ҟарҧеит уи хыс иаиурц «аҧсуа хәыҷқәа-аҧсуа школқәа рахь».

 

05.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Леонид Лакербаиа дидикылеит Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак ахантәаҩы Лиук Хааc

 

Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа дидикылеит Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак ахантәаҩы Лиук Хаас.

 

Аҧыза-министри Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак алахәылацәеи лассы-лассы еиҧылалоит. Иахьатәи аиҧылараҟны ирылацәажәеит Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) хабарда иабжьаӡыз рыҧшаара амҩаҧгара азҵаара. Ҳазну ашықәс маи мзазы ари азҵаара аус адулара иалагараны иҟоуп.

Леонид Лакербаиа МККК ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит урҭ Гагратәи Ортопедиатә центр иахәҭоу амыругақәа рыла иахьеиқәдыршәаз азы. Уи аартра мҩаҧсит иахьа. “Сара ари ҳамҭаны исыҧхьаӡоит. МККК ацхыраарада ҳара иҳалшомызт ари аҩыза атехникахь аиасра”, - иҳәеит аҧыза-министр.

 

Лиук Хаас ихәҭакахьала иазгәеиҭеит, амиссиа аусура ахьаангылоу аҭыҧқәа рҟны аҭагылазаашьа акыр ишеицәахо, араҟа аусура алҵшәақәа еиҳа еҕьхоит ҳәа.

 

Ари аҽны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа иара убас, дырҧылеит Еиду Амилаҭқәа рхәыҷтәы афонд аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аспециалист хада Драган Маркович хадара ззиуаз аделегациа. Аиҧылараҿы ирылацәажәеит афонд Аҧсны инанагӡо аусурақәа ртәы. Асасцәа аҧыза-министр идырдырит 2012 ш. рзы инарыгӡараны иҟоу апланқәа.

 

Еиду Амилаҭқәа рхәыҷтәы афонд Аҧсны аус ауеит 1994 ш. раахыс, аусбарҭа аофис аартын 2005 ш. рзы.

 

05.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Мшаҧымза 27 рзы Аҧсны имҩаҧгахоит актәи аурыс-аҧсуа агуманитартә форум “Аҧсни Урыстәылеи: ауаажәларратә еиҿцәажәара аҧҵаразы”

 

Мшаҧымза 27 рзы Аҧсны имҩаҧгахоит актәи аурыс-аҧсуа агуманитартә форум “Аҧсни Урыстәылеи: ауаажәларратә еиҿцәажәара аҧҵаразы”. Уи иалхәхоит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, иҳәынҭкарратәыми аҿари рхеилакқәа, аҟазаратә интеллигенциа , аекспертцәа, аҵарауаа, Аҧсни Урыстәылеи ржурналистцәа.

 

“Афорум хықәкыс иамоуп Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара акультура, аҟазара, аҵара, аҭҵаарадырра, аспорт, информациатә массатә хархәагақәа уҳәа рҟны аусеицыура арҿиара”, - иҳәеит “Евразиатәи аҭҵаарадыррақәа ринститут “ аҿиара афонд Аҧснытәи афилиал адиректор Сократ Аџьынџьал.

 

Агуманитартә форум еиҿыркааит “Евразиатәи аҭҵаарадыррақәа ринститут “ аҿиара афонд, Ауаажәларра аиҩызара “Аҧсни Урыстәлеи”, Россотрудничество.

 

05.04.2012 Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Жәлар Реизара аспикер ихаҭыҧуаҩцәа ҧшьҩык ыҟоуп

 

Аҧсны Жәлар Реизара V-тәи ааҧхьараҿы ҧшьҩык аспикер ихаҭыҧуаҩцәа ыҟоуп: Адгәыр Ҳаразиа, Оҭар Ҵәыџьба, Емма Гамисониа, Вагаршак Косиан.

 

Ишәгәалаҳаршәоит Жәлар Реизара аҧшьбатәи ааҧхьараҿы хҩык аспикер ихаҭыҧуаҩцәа шыҟаз.

 

04.04.2012  Аҧсныпресс

 

 Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны еицырдыруа ҟабардатәи ажурналист Иусуф Гукетлов

 

Иҧсҭазаара далҵит аҧсны еицырдыруа ажурналист, Ҟабардатәи апатриот Иусуф Гукетлов.

 

Иусуф Гукетлов Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992 - 93ш. раан Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаҧхарала Аҧснытәи рашьцәа ирывагыланы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет иаҿагыланы еибашьра иааз ирызкыз адырраҭарақәа ателехәаҧшразы иазирхион.

 

Гукетлов ианашьан Аҧсны иреиҳаӡоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭа, Леон иорден.

 

Аҳәынҭқарратә аинформациатә агенство Аҧсныпресс аусзуҩцәа гәык-ҧсык ала ирылдышшылоит Иусуф Гукетлов иуацәәеи иҭанхацәеи.

 

04.04.2012  Аҧсныпресс