AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҟәатәи ажәлар реизара аҟынтә асахьақәа



 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь агәра игоит, Аҧсны азхаҵараҿы адгылара ҳазҭо аҳәынҭқаррақәа рацәахоит ҳәа

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь агәра игоит, Аҧсны азхаҵараҿы адгылара ҳазҭо аҳәынҭқаррақәа рацәахоит ҳәа. „Ҳажәлар ирҭахыуп ахьыҧшымра, зегь раҧхьаӡа иргыланы,  жәларык раҳасабала ҳаиқәхарц азы. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳабжьы раҳап ҳәа,“ – ҳәа ажурналистцәа рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит,  Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь,  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, „Аҧсны ацәхьаҵраны ишыҟам, ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы ажәлар илырхыз амҩа“.

 

20.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь адунеи ажәларқәеи апарламентқәеи Аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи рахь Ааҧхьара ҟаиҵеит

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь адунеи ажәларқәеи, апарламентқәеи, аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи рахь Ааҧхьара ҟаиҵеит Аҧсны исуверентәу ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иазхарҵарц. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла  „Ари Аахыҵ Кавказ зегьы аҟны аҭынчра иаарласӡаны аиқәырхаразы, ҵакыла иҭоурыхтәу зда ҧсыхәа ыҟам ӡбарахоит“.

 

Аҧсны Ахьыҧшымра азхаҵара иаҧнаҵоит арегионтә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара ацивилизациатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, иара убасгьы еиқәнаршәоит еиҟароу азинқәа зых иақәиҭу аҿиаразы,“ – ҳәа азгәаҭоуп адунеи ажәларқәеи апарламентқәеи рахь иҟаҵоу Ааҧхьараҿы.

 

20.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ақырҭуа – ауаҧс еимакы аҭагылазаашьа иалацәажәеит Белоруссиеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни Рҳәынҭқаррақәа Рхадацәа

 

Аҟәа, Нанҳәа 20 рзы, ақырҭуа – ауаҧс еимакы аҭагылазаашьа иалацәажәеит Белоруссиеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни Рҳәынҭқаррақәа Рхадацәа Александр Лукошенко, Едуард Кокоиты, Сергеи Багаҧшь. Абри атәы аарыцҳаит Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟнынтә.

 

Аиҧылараҿы А.Лукошенко дақәыӡбеит Қырҭтәыла Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧнагаз  абџьаршьҭыхлатәи агрессиа.  Уи ишьақәирҕәҕәеит, Минск аӡбара шаднакылаз, Ареспублика ауааҧсыра агәҳалалратә цхыраара рзыҟаҵаразы.

 

20.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҟны рыҩныҟақәа рахь игьежьхьеит 100-ҩыуаак инарзынаҧшуа аҭынч уааҧсыра

 

Аҟәа, Кәыдры аиҩхаа  аҩадатәи ахәҭахьы, аиланхарҭатә ҭыҧқәа Ажара, Қәабчара,, Чҳалҭа рынхарҭақәа рахь игьежьхьеит 100-ҩыуаак инарзынаҧшуа аҭынч уааҧсыра. Абри атәы иҳәеит Аҧсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба, Кәдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа аҟынтә даныгьежь.

 

Иара иажәақәа рыла, зыҩныҟақәа рахь игьежьыз еиҳараҩык абнаҟны зҽыҵәахны иҟаз аҳәсеи, абыргцәеи ахәҷқәеи роуп. „Ахацәа, макьана агьежьразы ишәоит. Урҭ Аҧсны амчрақәа раасҭа, изыцәшәо еиҳарак ақырҭқәа роуп,“ – азгәеҭеит Кәпалба.

 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ излазгәеиҭаз ала, Аҧсны Арбџьар Мчқәа, Кәыдры аиҩхаа ашәарҭадара иахылаҧшуа, игьежьыз ауааҧсыра ирыцхраауеит, фатәы-жәтәыла еиқәдыршәоит.

 

„Аиҩхаа иаҭааит Аҳәынҭеилазаара „Аҧсныча“ ахаҭарнакцәагьы. Урҭ хықәкыс ирымоуп ауааҧсыра чала реиқәыршәаразы ачаӡырҭа аусура аларгара. Кәыдры аиҩхаа аладатәи ахәҭа аҟны амҩа арҽеира иалагоит,“ – иҳәеит Кәпалба.

 

20.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа иаҧырҟәҟәаан идырмыз аҳаирплан Аҧсны аҳаиртә ҳәаа аилагаразы аҽазышәара

 

Аҟәа, Иахьа иаҧырҟәҟәаан идырмыз аҳаирплан Аҧсны аҳаиртә ҳәаа аилагаразы аҽазышәара. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Аҧсны Арбџьар Мчқәа Рырратә штаб хада аиҳабы Анатолии Заицев.

 

Иара иажәақәа рыла, амшын аҟынтә иҟаҵаз адыргақәа рҭак аҳаирплан иҟанамҵаӡеит. „Аҧсны амшын ӡы аҟны ихықәгылоу Урыстәылатәи аибашьыгатә ҕба артиллериатә шьақәгылашьа аҟнытә агәҽанҵаратә хысрақәа анымҩаҧнага, аҳаирплан Аҧсны аҳаиртә ҳәаа ннажьит“, - ҳәа азгәеиҭеит Заицев.

 

19.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аусҧҟа ҭижьт „Арратә ҭагылазаашьа аҧыхразы“

 

Аҟәа, 2008 шықәса, нанҳәа 18 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аусҧҟа ҭижьт „Гал, Очамчыра, Тҟәарчал, Гәылрыҧшь араионқәа рҟни, Аҟәа араион ахәҭақәаки рҟны, аиланхарҭа ҭыҧқәа рҳәаақәа :Ҧсҳәы, Агра, Гәмма, Акаҧа, Ӡыгәҭа, Аҩадатәи Кьалашәыр рыҟны Арратә ҭагылазаашьа аҧыхразы“.

 

Аусҧҟаҟны иазгәаҭоуп:

 

„Қырҭтәыла абџьаршьҭыхла Аахыҵ Уаҧстәыла иахьақәлаз инадҳәалани, иара убасгьы Кәыдры аиҩхаа Аҩадатәи ахәҭа Қырҭтәыла Арбџьар Мчқәа раккупациа аҟнытә ахы иахьақәиҭхази аҟнытә ишьақәсырҕәҕәоит:

 

1)Иаҧыхзааит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыҧшь, араионқәеи Аҟәа араион ахәҭақәаки, иара убасгьы аиланҳарҭа ҭыҧкәа :Ҧсҳәы, Агра, Гәмма, Акаҧа, Ӡыгәҭа, Аҩадатәи Кьалашәыр рҳәаақәа рыҟни Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала нанҳәа 10, 2008 шықәса рзы иалагалаз арратә ҭагылазаашьа.

 

2)Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа анапы ианҵазааит амассатә информациатә хархәагақәа рҟны ари Аусҧҟа акьыҧхьра“.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада акьыҧхь аҟны иофициалтә хаҭарнак

 

К.В.Бжьаниа

 

19.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Мраҭашәара Қырҭтәылантә аурыс хҵәацәа ацхыраара рыҭара иацырҵоит Аҧсны

 

Аҟәа, Нанҳәа 17, Аҧснынтә Урыстәылаҟа идәықәырҵеит Самтредиа ақалақь аҟны инхоз аурыс хҵәацәа ргәыҧқәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Масловаа рҭаацәара иаҵанакуа 7-ҩыуаак – милаҭла иаурысқәоу. Шача ақалақь аҿы ииз, милаҭла имолдавану З.Џьалаҕониа Мунтиан ҩ-шықәса зхыҵуа лыӡҕаби лареи.

 

Надежда Маслова лажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла инхо аурысқәа рҭагылазаашьа акырӡа ибааҧсхеит, убри азын уаҟа аанхара уаҳа иҳалшоны иҳамбеит. Аҧсны амчрақәа ахҵәацәа рзы агәҳалалратә коридор шаадыртыз анеилыркаа, Масловаа рҭаацәара ацхырааразы ирыдҵаалеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа, арҭ амшқәа зегьы рзы ақырҭуа-аҧсуа ҳәааҟны иҟоу. „Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аҧсны анапхгара ҳҭаацәа рзы иҟарҵаз ацхырааразы. Ҳара маҭәа-ҩыҭәала ҳаиқәыршәара адагьы, аматериалтә цхыраара ҳарҭеит, асасааирҭа ҳаҩнарҵеит, уаҟа ҩымыш ҳаҩнан хәда-ҧсада“, - иҳәеит Иурии Маслов.

 

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, ахҵәацәа Адлерҟа иргоит, уаҟа Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә миграцитә маҵзура ахҵәацәа рыдыркылоит, нас наҟ-наҟтәи рлахьынҵа уаҟа ирыӡбоит.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, нанҳәа 15 рзы, иалган 19-ҩыуаак ахҵәацәа, милаҭла иаурысқәаз, урҭ рхыҧхьаӡараҿы 5 – ҩыуаак ахәыҷқәа. Урҭ зегьы Жәыргьыҭ инхон.

 

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аинформациала, аҳәаахьшьцәеи Аусбарҭа ахаҭарнакцәеи рахь иадҵаалоит Урыстәыла ауааҧсыра, Аахыҵ Уаҧстәыла ахҭысқәа ирылагаанӡа Қырҭтәылаҟа ҧсшьара иааз. Урҭ аҳәара ҟарҵоит Аҧсны атерриториала Урыстәылаҟа ирышьҭырц.

 

„Аҧсны анапхгара ацхыраара иазхиоуп Урыстәыла ауааҧсыра Қырҭтәылантә рыҩныҟақәа рыргьежьразы. Уи азы ацхырааразы идҵаалароуп Аҧсны аҳәаахьшьцәа, - ҳәа азгәеиҭеит Аҧыза – министр А. Анқәаб.

 

19.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 45-ҩыуаак Аҧсны аҭыҧҳацәеи арҧарацәеи алыҧшаауп Урыстәыла Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵаразы

 

Аҟәа, Аҧыза – министр ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиа дырҧылеит иахьа Урыстәылатәи Иреиҳау аҵараиурҭақәа лимитла ирҭалаз абитуриентцәа. 45 –ҩыуаак арҧарацәеи аҭыҧҳацәеи Урыстәыла иреиҳау 25 ҵараиурҭа рахь ишьҭуп.

 

Лакербаиа адырра злаҟаиҵаз ала, аҿар аҵарақәа рахь ишьҭу иаразнак аҵара рҵараны иахьыҟоу Иреиҳау аҵараиурҭақәа Жәларбжьаратәи рыҟәшақәа ирыдҵаалароуп. „Уаҟа аҵараиурҭа ахыҧхьаӡалараҿы уадаҩрақәак шәызцәырҵуазар, сара хаҭала адырра сышәҭ. Иарбан уадаҩразаалак хырҩаа азымукәа иаанҳажьуам,“ – иҳәеит Лакербаиа абитуриентцәеи урҭ рҭаацәеи рыҿцәажәараан.

 

Аҧыза – министр ихаҭыҧуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит, урҭ аҵарахьы ишышьҭу аҳәынҭқарра ацхыраарала, иахьа атәылаҿы аҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы. Лакербаиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, урҭ ҭакҧхықәра дула ишазнеиша рҵара.

 

„Шәара алимитқәа шәоуит иахьа аиҩызаратә ҳәынҭқарра Урыстәыла аҟнытә, иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Аҧсни Урыстәылеи зыхьчаз. Урыстәыла иахьа аҧсуа ҿар аҭагылазаашьа рнаҭоит, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵаратәы, аҿиарамҩа иану Аҧсны наҟ-наҟ зда ихәарҭам азаанааҭқәа рыла,“ – инаҵшьны иазгәеиҭеит Л.Лакербаиа.

 

Аҧыза – министр ихаҭыҧуаҩ Л.Лакербаиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, хышықәса раахыс Урыстәыла Афедерациа Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны ишҭалахьоу 148-ҩыуаак. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, урҭ рахьынтә фҩыуаак шҭырцахьоу, - азгәеиҭеит аҧыза – министр ихаҭыҧуаҩ.

 

Алимитқәа ҳзаазышьҭыз иреиҳау аҵараиурҭақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: Н.Е.Бауман ихьӡ зхыу Москватәи Аҳәынҭқарратә техникатә унивирситет;  Москватәи Аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә унивирситет; Санкт-Петербургтәи асахьаҭыхра-ааглыхратә академиа, Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә Унивирситет, Ростовтәи Аҳәынҭқарратә аекономикатә унивирситет, Ростовтәи Аҳәынҭқарратә аргыларатә унивирситет, Белгородтәи Аҳәынҭқарратә Унивирситет; Воронежтәи Аҳәынҭқарратә архитектура-ргыларатә унивирситет; Ульиановтәи Аҳәынҭқарратә техникатә унивирситет, Донтәи Аҳәынҭқарратә техникатә унивирситет уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Аҧыза министр ихаҭыҧуаҩ, Урыстәылатәи Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалаз абитуриентцәа ааҧхьара риҭеит есышықәса Аҧсны Аҳәынҭқрра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны анҭыҵ аҵара зҵо астудентцәа рзы имҩаҧиго аиҧылара рхы аладырхәырц.

 

15.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаҧхьа имҩаҧысит Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа инарыдҳәаланы амитин

 

Аҟәа, Нанҳәа 14, 20.00 сааҭ рзы Аҟәатәи адраматә театр аҿаҧхьа имҩаҧысит Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа инарыҳәаланы амитинг. Зықьҩыла ауаа неит амитинг ахь аиашьаратә ауаҧс жәлар зықәшәаз арыцҳараҿы адгылара рырҭарц. Иқәгылоз зегьы ақәыӡбон Саакашвили Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧигаз агеноцид.

 

Аҭынч уааҧсыра рҭахара, аҩнқәеи, ашколқәеи, ахәышәтәырҭақәеи, амилаҭтә культура ахыбрақәеи ршьаҟьара Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра рхы-ргәы аҟынӡа инеит.

 

Амитинг иалахәыз зегьы еицҿакны иазгәарҭеит Аахыҵ Уаҧстәыла ааха зауз рыцхыраара ишазхиоу.

 

Ареспублика Аҧсны абанкқәа акырџьара рҟны иаартуп, ауаа аҧара аларгаларц ахьрылшо иҷыдоу ахыҧхьаӡаларҭақәа.

 

Иара убасгьы ауаҧс хҵәацәа рыцхырааразы еиҿкаауп ацәамаҭәа еизгарҭақәа.

 

15.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа Аҟәа иалагеит Аахыҵ Уаҧстәыла ааха зауз рыцхырааразы агәҳалалратә акциа

 

Аҟәа, Иахьа Аҟәа иалагеит Аахыҵ Уаҧстәыла ааха зауз рыцхырааразы агәҳалалратә акциа.

 

Акциа еиҿыркааит – Аҟәа ақалақь ахадареи, Аҟәа ақалақьтә Еизареи.

 

„Аҟәатәи 10-тәи Абжьаратә школ ахыбрахь  асааҭ 10.00 инаркны, ақалақь ауааҧсыра анагара иалагеит ахәҷқәеи адуцәеи рзы ацәамаҭәа. Акциа мҩаҧысуеит ес-ҽны, асааҭ 10 .00 инаркны 18.00 сааҭ рҟынӡа“, - ҳәа адырра ҟалҵеит Аҟәа ақалақь ахадара апресс-маӡаныҟәгаҩ Мадонна Кәыҵниа.

 

Уи иазгәалҭеит, ари акциа зхы алазырхәыз шырацәаҩу.

 

Аимадаразы аҭелқәа:26-42-10

 

14.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь усуратә визитла Москваҟа дцеит

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь усуратә визитла Москваҟа дцеит.

 

Иахьҵәҟьа уи диҧылеит Урыстәыла Афедерациа Апрезидент Дмитри Медведев. Абри атәы Аҧсныпресс ахь иааицҳаит амассатә информациатә хархәагақәа рҟны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Кристиан Бжьаниа.

 

14.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ҭырқәтәылантә ихынҳәит

 

Аҟәа, Гәыҧҩык Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, зхадараҿы дыҟаз Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ирина Агрба, рвизит хыркәшаны Ҭырқәтәылантә ихынҳәит. Мчыбжьык иалагӡаны адепутатцәа рҧылон Анкара, Сҭамбыл, Адаҧазар инхо аҧсуааи ачеркессцәеи рдиаспорақәа рхаҭарнакцәа.
 

Ирфан Аргән напхгара зиҭо Аҧсуаа рхеилак ацхыраарала, адепутатцәа рҭааит аҧсуаа ахьеиланхо ақыҭақәа, ирҧылон аиҳабацәа, Аҧсни арепатриациа апроблемақәеи рзы ирыҿцәажәон ауаа.
 

Адаҧазар, аҧсуа депутатцәа иҧылеит ақалақь ахада. Урҭ алацәажәеит Аҧсни Адаҧазари аекономикеи акультуреи рганахьала реиҿцааразы лшарақәас иҟоу. Адаҧазар ахада агәра диргеит иаарласны Аҧсны дшаҭаауа ала.
 

„Аахыҵ Уаҧстәыла атрагедиатә хҭысқәа ртәы ҳаҳаит Ҭырқәтәыла. Уи инадҳәаланы аҭыҧантәи амассатә информациатә хархәагақәа ржурналистцәа рацәаҩны иҳаҿцәажәеит. Ҳара ҳалацәажәон Аҧсны апозициа, агәлартә ҳәынҭқарра Қырҭтәыла имҩаҧнаго агрессиатә политика, уи Аахыҵ Уаҧстәыла ашьакаҭәарахьы ишкылнагаз,“ – ҳәа лҳәеит „Аҧсныпресс“ аинтервиу аналҭоз Ирина Агрба.
 

Адепутат, арепатриант Сенер Гогәуа Ҭырқәтәыла еицырдыруа ателеканалқәа рефирқәа дрылахәын. Уаҟа уи инаҵшьны иазгәеиҭон Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни ирымоу ахықәкы– уи ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рыргылара  шакәу ҳәа.
 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ирина Агрба иазгәалҭеит, адепутатцәа активла аус шрыцылуаз, Аҧсны лассы-лассы иаало, арепатриациа азҵаарақәа рыӡбараҿы злагала ҕәҕәоу Битис Кәарацхелиа.
 

„Қырҭтәыла Цхинвал алахысра ианалага, аҧсуааи ауаҧс диаспореи рхаҭарнакцәа, нанҳәа 8 рзы, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҿаҧхьеи, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аҿаҧхьеи апикетқәа мҩаҧыргеит,“ – ҳәа азгәалҭеит Ирина Агрба.
 

Адепутатцәа ауаҟатәи ажурналистцәа анрыҿцәажәоз иазгәарҭон, Ҭырқәтәыла еиуеиҧшым абџьар хкқәа рыла ацхыраара шарҭоз Қырҭтәыла. „Ҳара иазгәаҳҭон, Қырҭтәыла арбџьармчқәа абџьарла еиқәзыршәоз рхыҧхьаӡараҿы ишыҟоу Ҭырқәтәыла, иахьа уи абџьар ахархәара шаиуз Цхинвал ақәлараҿы“, - хәа азгәалҭеит Ирина Агрба.
 

Аҧсуа депутатцәа Ҭырқәтәыла ажурналистцәа ирабжьаргеит рыла иадырбарц Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиа.

 

13.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Нанҳәа 14, Аҧсны алахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп

 

Аҟәа, Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиатә хтысқәа инарыдҳәаланы, нанҳәа 14, Аҧсны алахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп. Абри азы иахьа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь. Абри атәы аарыцҳаит Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟнытә. Ари амш аҽны ҳреспублика атерриториаҟны иларҟәуп Аҳәынҭқарратә Бираҟқәа, арлахҿыхратә усмҩаҧгатәқәеи апрограммақәеи аанкылоуп.
 

„Ақырҭуа ауаҧс еимакы ҭынчымҩала аҭышәныртәаларазы, ақырҭуа ган ахыдҵақәа зегьы еилаганы, 2008 шықәса, нанҳәа 8 руха, Қырҭтәыла Арбџьар Мчқәа авиациеи, атехника хьанҭеи рхы иархәаны Аахыҵ Уаҧстәыла иақәлеит,“ – азгәаҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟаҟны.
 

„Қырҭтәыла агрессиа иахылҿиааит, Багаҧшь иажәақәа рыла „ауаҧс жәлар ргеноцид, иҭахеит зықьҩыла аҭынч уааҧсыра, еилаҟәбоуп Цхинвал ақалақьи, аиланхарҭа ҭыҧқәеи жәпакы. Ааха рыҭоуп ,иара убасгьы Урыстәыла Афедерациа Абжьаҟазаратә Мчқәа“.
 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Аминистрцәа Реилазаара рнапы ианиҵеит „Аахыҵ Уаҧстәыла  Қырҭтәыла агрессиа иахҟьаны ааха заузи, зҭаацәа ҭахази ацхыраара рзыҟаҵара алыршаразы ажәалагалақәа аус рыдуларазы“.

 

13.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь даҭааит акқырҭуа аоккупациа аҟнытә зых иақәиҭхаз Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь даҭааит акқырҭуа аоккупациа аҟнытә зых иақәиҭхаз Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа – аиланхарҭатә ҭыҧқәа Чҳалҭа Ажара. Абри атәы ааицҳаит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада акьыҧхь аҟны иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа.

 

Атәылахьчара аминистр М.Кьышьмариа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит, аҕа ихырҕәҕәарҭақәа  шимхыу, Аҧсны Арбџьармчқәа Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭа, Қырҭтәыла аҳәаа аҟынӡа ишахылаҧшуа.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит, аҳәаа ахьчара еиҿыркаарц, иара убасгьы нап адыркырц Гәылрыҧшь араион ахадара рыцырхырааны, еилаҟәбасоу аинфраструктура аиҭашьақәыргылара.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иаарласны ари араион ақыҭақәеи, аҳаблақәеи  рхадацәа алыххоит.

 

Багаҧшь ҭабуп ҳәа реиҳәеиит арратә операциа иалахәыз аррамаҵзуцәеи арезервистцәеи зегьы, - иазгәеиҭеит К.Бжьаниа.

 

13.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны жәлар рахь Ааҧхьара ҟаиҵеит

 

Аҟәа, Нанҳәа 12 рзы, уахынла, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны амилаҭтә телехәаҧшрала дықәгыло, ажәлар рахь Ааҧхьара ҟаиҵеит.

 

„Ҳаҭыр зқәу, сыуаажәлар!

 

Иахьа иҟалеит акыршықәса ҳаззыҧшыз. Ари ҳазыҧшиижьҭеи 15 шықәса ракәым иҵуа, акыр жәашықәса ҵуеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра аиурисдикциа иахьа ишьақәыргылоуп ҭоурыхла, жәытә-натә аахыс иара иахәҭакыу атерриториа – Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҟны!

 

Хаха –хымш Аҧсны Арбџьармчқәа рыҟәшақәа Аҧсны Ареспублика атерриториалтә акзаара ашьақәыргыларазы аоперациа амҩаҧгара иаҿын. Иахьа, уи хыркәшоуп!

 

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, шәара зегьы шәхы шәыхшыҩ зегьы зызкыз абри аус ҧшьа акәын. Даҽакалагьы ҟалашьа амамызт. Иӡбахон ҳразҟы. Ҳара, иара убасгьы Аахыҵ Уаҧстәыла иҟаз атрагедиагьызгьы агәҭынчымра ду ҳаман. Ақырҭуа қәылаҩцәа Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧыргеит хашҭшьа змам агеноцид. Иршьаҟьеит Аахыҵ Уаҧстәыла ақыҭақәеи, ақалақьқәеи, агәаҟра ду иҭадыргылеит аҭынч уааҧсыра. Ари аҩыза хашҭшьа амам.

 

Ҳара Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиа ус ҳахәаҧшуа тәашьа ҳамамызт. Убри азын Гал араион ахь иалаҳгалеит Аҧсуа Ар. Убри инадҳәалангьы, иаарласынгьы нап аҳаркыр акәхеит Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭахьы арратә аоперациа амҩаҧгара.

 

Анцәа имчала, ҳаруааи ҳрезервистцәеи ари ихьанҭаз апроблема ду фырхаҵарыла ирыӡбеит.

 

Сара, иҭабуп идуӡӡан ҳәа расҳәоит асолдаҭцәеи, аофицерцәеи, арезервистцәеи, Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, егьырҭ амчратә еилазаарақәеи абас еиҧш еилыхха аус ахьеиҿыркааз!

 

Ҭабуп ҳәа расҳәоит Аиҳабыреи, Апарламенти, Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәеи арратә операциа амҩаҧгареи, уи аҽазыҟаҵареи рҿы рҽазышәарақәа рзы!

 

Сара, иара убасгьы, идуӡӡан иҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәыла Афедерациа анапхгара, ацхыраараз иҟаҳҵаз ааҧхьара рыбжьы ахьақәдыргаз азы. Ҳрегион аҟны ирҕәҕәан абжьаҟазаратә еилазаара, Қырҭтәыла даҽа қәыларак аҧшьнамгаразы ирҕәҕәан ашәарҭадара ауснагӡатәқәа.

 

Ҳара иаҳаӡбаз рацәоуп. Уажәшьҭа, аринахысгьы, ҳамчқәа еизакны, Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭа аҟны ишьақәыргылатәуп аинфраструктура. Иаанхеит мышқәак, арратә операциа зынӡаск ахыркәшаразы.

 

Сара агәра згоит, зегьы шыҟаҵахо ала.

 

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит!“

 

13.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аусҧҟа ҭижьт „Аахыҵ Уаҧстәыла атрагедиатә хҭысқәа инарыдҳәаланы алахьеиқәҵара рылаҳ

 

Аҟәа, Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аусҧҟа ҭижьт „Аахыҵ Уаҧстәыла атрагедиатә хҭысқәа инарыдҳәаланы алахьеиқәҵара рылаҳәаразы“

Аусҧҟаҟны иазааҭгылоуп:

„Ақырҭуа – ауаҧс еимакы ҭынчымҩала аӡбаразы жәларбжьара – зинтә хыдҵақәа зегьы еилаганы. 2008 шықәса, нанҳәа 8 рзы Қырҭтәыла арбџьармчқәа авиациеи, ихьанҭоу атехникеи рхы иархәаны, Аахыҵ Уаҧстәыла атерриториа иақәлеит.  Иршьит зықьҩыла аҭынч уааҧсыра, еилаҟәбоуп аҳҭны-қалақь Цхинвал, иара убас жәпакы аиланхарҭатә ҭыҧқәа, ааха рыҭоуп иара убас Урыстәыла Афедерациа Абжьаҟазаратә Мчқәа

Иҭахаз рҭынхацәеи рызгакьацәеи гәалсра дула срыдышшыло ишьақәсыргылоит:

2008, нанҳәамза 14, Ареспублика Аҧсны атерриториаҟны ирылаҳәазааит лахьеиқәҵаратә мшны. Алахьеиқәҵара амш аҽны Ареспублика Аҧсны атерриториаҟны илашьҭызааит Аҳәынҭқарратә Бираҟқәа.

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара анапы ианҵазааит аус аднауларц, Қырҭтәыла агрессиа иахҟьаны Аахыҵ Уаҧстәылан ааха зауз аҭаацәарақәеи, зҭаацәа ҭахази ацхыраара рзыҟаҵаразы ажәалагалақәа.

Алахьеиқәҵара амш аҽны акультура  аусҳәарҭақәеи, ателерадиоеилахәреи рҟны арлахҿыхратә программақәа аанкылазааит.

 

13.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Нанҳәа 12 рзы, уахынла, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны амилаҭтә телехәаҧшрала дықәгыло, ажәлар рахь Ааҧхьара ҟаиҵеит

 

„Ҳаҭыр зқәу, сыуаажәлар!
 

Иахьа иҟалеит акыршықәса ҳаззыҧшыз. Ари ҳазыҧшиижьҭеи 15 шықәса ракәым иҵуа, акыр жәашықәса ҵуеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра аиурисдикциа иахьа ишьақәыргылоуп ҭоурыхла, жәытә-натә аахыс иара иахәҭакыу атерриториа – Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҟны!
 

Хаха –хымш Аҧсны Арбџьармчқәа рыҟәшақәа Аҧсны Ареспублика атерриториалтә акзаара ашьақәыргыларазы аоперациа амҩаҧгара иаҿын. Иахьа, уи хыркәшоуп!
 

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, шәара зегьы шәхы шәыхшыҩ зегьы зызкыз абри аус ҧшьа акәын. Даҽакалагьы ҟалашьа амамызт. Иӡбахон ҳразҟы. Ҳара, иара убасгьы Аахыҵ Уаҧстәыла иҟаз атрагедиагьызгьы агәҭынчымра ду ҳаман. Ақырҭуа қәылаҩцәа Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧыргеит хашҭшьа змам агеноцид. Иршьаҟьеит Аахыҵ Уаҧстәыла ақыҭақәеи, ақалақьқәеи, агәаҟра ду иҭадыргылеит аҭынч уааҧсыра. Ари аҩыза хашҭшьа амам.
 

Ҳара Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиа ус ҳахәаҧшуа тәашьа ҳамамызт. Убри азын Гал араион ахь иалаҳгалеит Аҧсуа Ар. Убри инадҳәалангьы, иаарласынгьы нап аҳаркыр акәхеит Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭахьы арратә аоперациа амҩаҧгара.
 

Анцәа имчала, ҳаруааи ҳрезервистцәеи ари ихьанҭаз апроблема ду фырхаҵарыла ирыӡбеит.
 

Сара, иҭабуп идуӡӡан ҳәа расҳәоит асолдаҭцәеи, аофицерцәеи, арезервистцәеи, Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, егьырҭ амчратә еилазаарақәеи абас еиҧш еилыхха аус ахьеиҿыркааз!
 

Ҭабуп ҳәа расҳәоит Аиҳабыреи, Апарламенти, Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәеи арратә операциа амҩаҧгареи, уи аҽазыҟаҵареи рҿы рҽазышәарақәа рзы!
 

Сара, иара убасгьы, идуӡӡан иҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәыла Афедерациа анапхгара, ацхыраараз иҟаҳҵаз ааҧхьара рыбжьы ахьақәдыргаз азы. Ҳрегион аҟны ирҕәҕәан абжьаҟазаратә еилазаара, Қырҭтәыла даҽа қәыларак аҧшьнамгаразы ирҕәҕәан ашәарҭадара ауснагӡатәқәа.
 

Ҳара иаҳаӡбаз рацәоуп. Уажәшьҭа, аринахысгьы, ҳамчқәа еизакны, Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭа аҟны ишьақәыргылатәуп аинфраструктура. Иаанхеит мышқәак, арратә операциа зынӡаск ахыркәшаразы.
 

Сара агәра згоит, зегьы шыҟаҵахо ала.
 

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит!“

 

12.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ихантәаҩрала имҩаҧысит Ареспублика Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа реилатәара

 

Аҟәа, Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ихантәаҩрала имҩаҧысит Ареспублика Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа реилатәара.

 

Аилатәара иалахәыз, уаанӡатәи аилатәараҿы рнапы ианҵаз ашәарҭадареи, Арбџьармчқа рырхәҭақәа аибашьраразырхиара азҵаареи рымҩаҧысшьа атәы идырдырит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

Иалацәажәеит Ареспублика Аахыҵ – Уаҧстәыла аҭагылазаашьа. Аҳәынҭқарра Ахада Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа иреиҳәеит, ҵхагәазы, Аахыҵ Уаҧстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Е.Кокоитыи иареи ҭелла ишеицәажәаз.

 

Уаҟа ишьақәырҕәҕәан, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи аицхыраараз ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра ахьыҧшхоит наҟ-наҟтәи ахҭысқәа рыҿиашьа.

 

07.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит Донтәи Архәҭа атаман, аинрал Н.И.Казицын

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит Донтәи Архәҭа атаман, аинрал Н.И.Казицын. Аиҧылараҟны иалацәажәон ақырҭуа-аҧсуа еимаки ақырҭуа-ауаҧс еимаки рзонақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьақәа ртәы. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аицхыраараз иҳадаҳкылаз Аиқәшаҳаҭра инамаданы,   Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа Аҧсны ахы аламырхәӡакәа аганахь ишаанымхо. Аиҧылараҟны ирылацәажәон Аахыҵ Уаҧстәыла иқәнхо ганрацәалатәи ацхыраара рзыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа.

 

06.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Пицунда 2009 ш. рзы „Аҧсы атәыла“ ҳәа хьӡыс измоу Урыстәылатәи акинофестиваль амҩаҧгара иаҭыҧны иҟалар алшоит

 

Аҟәа, Пицунда акәрорт, аҧхын 2009 шықәса рзы, „Аҧсы атәыла“ ҳәа хьӡыс измоу Урыстәылатәи акинофестиваль амҩаҧгара иаҭыҧны иҟалар алшоит.

 

Абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит Урыстәылатәи акинои ателехәаҧшреи риеҵәахәқәа Аҧсны рыҧсы аныршьоз аамҭазы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы: акинематографиатә Еидгыла актәи амаӡаныҟәгаҩ, актиор, апродиусер Михаил Поречнеков, Гоша Куценко, Никита Джигурда, Андреи Соколов уҳәа убас аӡәырҩы.

 

„Ҳара аҭакҧхықәра ду ҳадуп. Акәрорт аинфраструктура азырхиатәуп иҟалараны иҟоу акинофорум азы, избан акәзар ари акәльтуратә проект иаднаҧхьалоит асасцәа рацәаҩӡаны,“ – ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Ҭемыр Қапба.

 

Акинофестиваль амҩаҧгара алыршахоит Пицунда ииз, Урыстәылатәи абизнсмен, амеценат Андреи Дудко ицхыраарала.

 

06.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны азхиоуп, Аахыҵ Уаҧстәыла иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы иахыгоу ахәыҷқәа рыдкылара

 

Аҟәа, Аҧсныи Аахыҵ Уаҧстәылеи Рҳәынҭқаррақәа Рхадацәа С.Багаҧшьи Е.Кокоитыи ҭелла иалацәажәеит ақырҭуа – ауаҧс еимакы азонаҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Абри атәы аарыцҳауеит Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟнытә.

 

„Иахьа, Едуард Кокоитыи сареи ҭелла ҳалацәажәеит аимак азонаҿы ишьақәгылоу аҭагылазаашьа. Аҧсны азхиоуп, Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы, иахыгоу 100-ҩыуаак рҟынӡа ахәыҷқәа аднакыларц,“ – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, ҳәа аарыцҳауеит Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟнытә.

 

06.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аахыҵ-Уаҧстәыла аҭагылазаашьа уадаҩ рхала иаҧырҵеит Аҟәеи Москвеи ҳәа Иакобашвили иҳәамҭа ҵакыдоуп ҳәа азиҳәеит С.Шамба

 

Аҟәа, Қырҭтәыла аҳәынҭминистр Ҭемур Иакобашвили иҳәамҭа, Аҟәеи Москвеи рхала иаҧырҵеит аҭагылазаашьа, Берлинтәи аиҧылара мап ацәкразы ҳәа , хшыҩдароуп ҳәа азиҳәеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба.

 

„Ҳара уи аҽаламырхәразы аҽыҵга аҧшаара ҳҭахӡам. Мап ҳкыр ауан, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ рҧылара Ҭемур Иакобашвили дшалахәу анеилаҳкаа нахыс, мамзаргьы ақырҭуа – аҧсуа еиҧылара мҩаҧысраны иҟоуп ҳәа Германиа ахаҭарнак абас еиҧш аҳәамҭа аныҟаиҵа,“ - иҳәеит С.Шамба.

 

Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ахада Аахыҵ – Уаҧстәыла атагылазаашьа уадаҩуп ҳәа азиҳәеит. „Ҳара мап ацәаҳкуеит Берлинтәи аиҧылара аҽалархәра, Аахыҵ-Уаҧстәыла иаалырҟьаны аҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз азы. Ҳара абас еиҧш аиҧыларақәа мап рцәаҳкуеит арегион аҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа“, - иҳәеит аминистр. Убри аан иазгәеиҭеит „Ҳара иҳадыргалоит аиҧылара ҳҽалаҳархәырц, ҳрегион аҟны иҟоу ашәара агәҭынчымра рнаҭоушәа ҳарбо“.

 

С.Шамба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аахыҵ Уаҧстәыла аҭагылазаашьазы Мрагылара агәҭынчымра амоуп ҳәа узазҳәом ҳәа. „Мрагылараевропатәи атәылақәеи, Америка Еиду Аштатқәеи Қырҭтәыла аганахьала ақәымчра ҟарҵароуп Қырҭтәыла имҩаҧнаго ақәыларақәеи апровокпциақәеи ирҟәаҵразы“, - азгәеиҭеит уи.

 

С.Шамба игәаанагарала, „Берлинтәи аиҧылара амҩаҧгара даҽа хықәкқәак ракәын иамаз. Хәҭакахьала, Қырҭтәыла аҽазнашәоит апроблема аӡбара аҽазнашәошәа НАТО алалара апроцесс арццакра.“

 

Аҧсны амчрақәа аринахыстәи абас еиҧш аҭагылазаашьаҿы рхымҩаҧгашьа дазааҭгылауа, Шамба иҳәеит: Иацы, Ашәарҭадара аилатәараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь амаҵзурақәа зегьы иашьашәалоу анапынҵақәа риҭеит.Ҳаргьы  убарҭ аиқәшаҳаҭрақәа  рҳәаақәа ҳҽырҭаҳагӡоит“, - ихәеит уи.

 

04.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Қырҭтәыла иҿыцу ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп Бельгиатәи адипломат Вербеке

 

Ниу-Иорк, ИТАР-ТАСС, Пан Ги Мун Қырҭтәыла иҿыцу ихаҭарнак ҷыдаси Қырҭтәыла ахылаҧшразы ООН амиссиа ахадаси дҟаиҵеит Бельгиатәи адипломат Иохан Вербеке. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Амаӡаныҟәгаҩ Хада иофициалтә хаҭарнак Мишель Монтас. Уи диҧсахуеит, ари амаҵзураҿы ҩышықәса инарзынаҧшуа иҟаз афранцыз Жан Арно.

 

Вербеке ҧшьымыз раҧхьа дҟаҵан Ливан ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыдас, уаанӡа уи дыҟан ООН еснагьтәи ахаҭарнакс Бельгиа.

 

57 шықәса зхыҵуа адипломат Вербеке, 1981 шықәса рзы Бельгиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра асистемаҿы аусура далагеит. Аус иухьеит итәыла адипломатиатә миссиақәа рҟны Ливан, Иорданиа, Бурунди, Чили, Еиду Америкатәи Аштатқәа. Ааигәатәи Ниу-Иорктәи имаҵураныҟәараҿы хадара азиуан Бельгиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра амаӡаныҟәгарҭа.

 

2007 шықәса мшаҧымзазы, Вербеке хадара азиуан ООН Ашәарҭадара ахеилак аделегациа Косова ацараан.

 

Вербеке – заанаҭла дзиндырҩуп.Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.

 

04.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аахыҵ Уаҧстәыла аҭагылазаашьа инамаданы, Аҧсны мап ацәнакуеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ рҧылара алахәхара

 

Аҟәа, Ақырҭуа ауаҧс еимакы азонаҿы аҭагылазаашьа ахьыуадаҩхази Қырҭтәыла имҩаҧнаго апровокациақәеи инарымаданы, Аҧсны мап ацәнакуеит, нанҳәа 15 рзы Берлин имҩаҧысраны иҟоу ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ рҧылара алахәхара.(ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ иалахәуп Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа, Британиа Ду). Абри атәы иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак Аахыҵ- Уаҧстәыла аҭагылазаашьа инадҳәаланы аилатәара аартуа.

 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит, ҩымыш раахыс ҭелла иааиҧмырҟьаӡакәа иҽышимаидо, Аахыҵ Уаҧстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Едуард Кокоиты.

 

„Цхинвал аҭагылазаашьа еибарххоуп, ахәҷқәеи аҳәсақәеи Нхыҵ Уаҧстәылаҟа рахыгара иаҿуп. Қырҭтәыла архәҭақәа Аахыҵ Уаҧстәыла аҳәаахь реизгара иаҿуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ақырҭуа–аҧсуа еимакы аҭышәныртәаларазы  аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара мап ацәаҳкуеит,“- инаҵшьны иазгәеиҭеит С.Багаҧшь.

 

С.Багаҧшь адҵа ҟаиҵеит, Мрагыларатәи агәыҧ архәҭа аибашьраиазхиаразы, иара убасгьы Ареспублика амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иашьашәалоу анапынҵақәа риҭеит.

 

„Аахыҵ – Уаҧстәыла аибашьра иалагар, Аҧсны ҭынч изтәазаауам“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит С.Багаҧшь.

 

„Ҳара ҳаҧеиҧшуеит, макьана ахҭысқәа рыҿиашьа. Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалар, ҳара ҳаиҭахәаҧшуеит ҳаӡбара,“ – иҳәеит С.Багаҧшь.

 

Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак аилатәараҟны Аҧсни, Приднестровиеи, Аахыҵ – Уаҧстәылеи рыбжьара иҟоу аиқәшаҳаҭрақәеи аизыҟазаашьақәеи ҳасаб рзуны ирылацәажәон иахәҭоу аусмҩаҧгатәқәа.

 

04.08.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада