AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҧсуа шрифт



 

 Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы В. Путини рпресс-конференциа

 

Аҟәа, Апресс-конференциа астенограмма:

С.У.Багаҧшь: Сара ҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәыла Аиҳабыра Реилазаара Ахантәаҩы Владимир Владимир-иҧа Путини, Урыстәыла Аиҳабыра алахәцәеи Аҧсныҟа рвизит азы. Иахьа имҩаҧысыз аиҧыларақәа рыҟны ҳрылацәажәеит еицыфеидоу аусеицурақәа ирыдҳәалоу  азҵаарақәа. Ҳара араҟа ҳарзааҭгылеит зыӡбара аҭахыу атемақәа жәпакы. Аиҳабыра Рхада Аҧсныҟа ивизит шаҳаҭра ауеит Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа иҭышәынтәаланы рыҿиара. Ишыжәдыруа еиҧш, иахьа анапы аҵаҩуп аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рыҟны ихадоу аиқәшаҳаҭра – ҳтәыла асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара. Ҳара агәра аагоит, ари аиқәшаҳаҭра Аҧсны азы аҭагылазаашьа бзиақәа шаанартуа. Иазырхиахоит даҽа еиқәшаҳаҭрақәакгьы, иахьа ВладимирВладимир-иҧа Путини сареи хықәкыла ҳаззааҭгылаз.

 

В.В.Путин: Ҳаҭыр зқәу Сергеи Уасил-иҧа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Шықәсык аҧхьа, Кавказ аҭыҧ рыман еицырдыруа атрагедиатә хҭысқәа. Уи аахижьҭеи зҽызыҧсахыз рацәоуп. Иахьатәи ақырҭуа режим агрессиа ашьҭахь иҟалеит ахҭыс – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыхьыҧшымра азхаҵара. Ақырҭуа мчрақәа уи аҩыза алыцҵшәа роуртә еиҧш рхы мҩаҧыргеит. Рреспубликақәа автономатә зинқәа рымхра ала иалагеит, убри алагьы рнапала ихдырбгалеит Қырҭтәыла атерриториатә акзаара. Уи рхала, рнапала иҟарҵеит.  Ҳара иара убас иаадыруеит аҧсуа жәлар ахьыҧшымреи асуверинитети рзы рҽазышәарақәа. Ари атрагедиатә хҭыс ашьҭахь, Урыстәыла шықәсык аҧхьа иаднакылеит аӡбара – арҭ ареспубликақәа рхьыҧшымреи рсуверинитети разхаҵаразы. Уи аахыижьҭеи аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Урыстәыла иҟанаҵеит астратегиатә алхра – уаанӡатәи аҭагылазаашьахь хынҳәышьа змам. Иагьыҟалом. Уажәы ҳҿаҧхьа иқәгылоуп даҽа ӡбатәқәак. Аҧсны асоциалтә усхки аекономикеи рыҿиара. Даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа иасҳәоит аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иахьатәи сусуҩтә визит азы.

 

Ҳара иазгәаҳҭеит аҧхьаҟатәи ҳусеицура апланқәа жәпакы. Ари аинфраструктура аҿиареи, атуризм аусхки, амҩеи, аимадареи русхкқәа рыҿиара иадҳәалоуп. Урыстәыла, жәаҳәара иазхиоуп иахәҭоу акапитал азоужьра. Урыстәыла Аҧсны аҭагылазаашьа аҧнаҵоит раҧхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара ахатә ҿиаразы, ахатәы економикеи асоциалтә базеи рырҕәҕәаразы.

 

Ҳара гәыҩбара ҳамаӡам, аҧсуа жәлар аҟыбаҩи, афырхаҵареи, амаашьареи шрылоу ала. Аблокадеи, аибашьреи рҭагылазаашьаҿы уи ахы еиқәнархазар, Урыстәыла Аҧсны ахьыҧшымра аназханаҵа ашьҭахь,  аекономикатәи, аполитикатәи,иаҭаххозар арратәи цхыраара аҟаҵара ианазхиоу аамҭазы, жәаҳәарада ахатә економика аиҭарҿиара алшоит.

 

Сара еиҭахгьы Аҧсны анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәоит ааҧхьара исырҭаз азы, Аҧсны жәлар абас аҧхарра зҵоу гәаартылатәи адкылара иҟарҵаз азы..

 

Азҵаара: Сергеи Уасил-иҧа, аҵыхәтәантәи ашықәс азы Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз маҷӡоуп. Убри инадҳәаланы, атәыла аҧхьаҟатәи аполитикатә ҧеиҧш шәышҧахәаҧшуеи? Ишәзеиқәырхома шәхьыҧшымра аҧхьаҟагьы? Еиҭах убри азҵаара инаҧшьны, азин сышәҭозар. Азхаҵара апроцесс маҷк „ишьақәхазар“, атәыла аекономикатә зхаҵара амҩала шәцар еиҕьзар? Убри инацҵаны Владимир Владимир-иҧа иахь азҵаара. Иарбан шьаҿақәоу Урыстәыла иаднакыло, ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара ацхрааразы? Ирабжьашәгои аинвесторцәа: иаархәалар акәу, мамзаргьы иааҧшыр акәу? Иҭабуп.

 

С.У.Багаҧшь: ихадароу араҟа – ҳара адержава ду Урыстәыла Афедерациа ҳхьыҧшымра азханаҵеит. Азхаҵара апоцесс иарбан тәылазаалак аҿы имариаӡам, имариахом Аҧсынгьы. Ҳара лассы ҳазхаҵара акәым аус злоу, араҟа ихадароу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳшышьақәгылоу ауп.

 

Ҳара иаҧаҳҵароуп убас еиҧш аҭагылазаашьақәа, иҟалароуп убас аҿиареи, аҧхьаҟацареи, зегьы еилыркаартә еиҧш, ииашаҵәҟәҟаны ари демократиатә ҳәынҭқарразаап рҳәаратәы, иагьиашаҵәҟьаны ари – зинтә ҳәынҭқарроуп. Ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳашьақәгылараҟны изыхәҭам аҩыжьрақәа ҟаҳамҵаразы, Урыстәыла Афедерациа ҳаназханаҵа, егьырҭ атәылақәа иргоит ахыдҵақәа адунеи ауаажәларра аҿаҧхьа  жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы ахыдҵақәа шынаҳагӡо ацклаҧшразы.

 

Ари мҩа мариаӡам, ари мҩа хьанҭоуп, ҳара Аҧсны ҳаизыҧшуп аинвестор, избанзар инвестициада адунеи ахьынӡа-наӡаазо иарбан тәылазаалак ирласны аҿиара маиуӡацт.

 

В.В.Путин: Азхаҵара „ашьақәхара“ атәы акәзар. Ҳара Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра аназхаҳҵоз, даҽа ҭагылазаашьак ҳазыҧшымызт. Ҳара иаадыруан ус ишыҟалоз. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап аҭоурых. Ишәгәалашәыршәа, Асоветтә Урыстәыла шазхарҵоз.

 

Аҿыц ҭагылазаашьақәа зегьы рҭыҧқәа рыҟны иаргылоит. Урыстәылатәи инвесторцәа  ртәы акәзар, урҭ ҳәарада иаархәалароуп. Иахьа уи иазыҧшу – егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рбизнесуаа рхаҭарнакцәа – урҭ ихьшәаны акәзаргьы иааиуеит, аха иаархәар акәхоит ахәҧса ҳаракны.

 

Азҵаара. Кавказтәи ателехәаҧшра. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иалацәажәоит Аҧсны жәларбжьаратәи анаҧшцәа ралагалара азҵаара. Перспективас иамои урҭ арахь ралагалара, насгьы иахьатәи аҿыц ҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны урҭ рыҟазаара феидас иаҵоу? Иҭабуп

 

В.В.путин: Аиҿцәажәаратә процесс аҟны имҩаҧысуа зегьы хәҭа-хәҭала сацклаҧшуамызт. Сергеи Уасил-иҧеи сареи ари азҵаара ҳалацәажәеит. Аҧсны – Урыстәыла Афедерациагь  уи иадгылоит –еиуеиҧшым аиҿкаарақәа рҟынтә ООН-и ОБСЕИ-и реиҧш иҟоу аҳәаанырцәтәи анаҧшцәа рыҟазаара мап ацәнакуам. Аха убри аан, Аҧсны асуверинитети, жәларбжьаратәи азинсубиекти ҳасаб рзуны иашьашәалоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵалатәуп.

 

С.У.Багаҧшь: Сара уи сақәшаҳаҭуп. Ҳара рыҟазаара мап ацәаҳкуамызт ООН амиссиа, аха иааит аамҭа, ҳхьыҧшымреи ҳсверинитети разхаҵара.

 

Евроеидгылеи арратә наҧшцәеи ртәы акәзар, урҭ ҳасаб азыруроуп, Аҧсны  ихьыҧшым ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Уи ашьҭахь, ҳара ҳазхиоуп ацәажәара. Иҭабуп.

 

13.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь диҧылеит, усуҩтә визитла Аҧсныҟа иааз ,Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы Владимир Путин

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь диҧылеит, усуҩтә визитла Аҧсныҟа иааз ,Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы Владимир Путин.
 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩи аибашьцәа рҿаҧхьа ихырхәеит. Аҳҭны-қалақь Амемориал аҟны Сергеи Багаҧшьи Владимир Путини 1992-93 шш. рзы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аҿаҧхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
 

Ареспублика Ахада Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы дицны иаҭааит Аҟәатәи ахшараиурҭа аҩны, уаҟа имҩаҧган акапиталтә рҽеиратә усурақәа Урыстәыла ацхыраарала.
 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәыла Афедерациа аиҳабыра Рхантәаҩи реиҧылара иацҵан Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны.
 

Аиҧылара аламҭалазтәи астенограмма:
 

С.Багаҧшь: Владимир Владимир-иҧа! Шәара шәаара ҳауаажәлари ҳареи шаҟа ҳаигәырҕәаз жәбоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәсҳәоит, даҽазныкгьы!
 

Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахыуп аминистрцәеи Аиҳабыреи шәыцны шәахьыҟоу. Ҳаиҧылараҟны ҳара шәзеиҭаҳәара ҳҽазаҳшәоит ҳаихьӡарақәеи ҳауадаҩрақәеи ртәы. Урыстәыла иҟанаҵо – ҳара ҳзын ихадоуп. Иҭабуп идуӡӡаны. Иарбоу апланқәа зегьы нагӡахоит.
 

В.Путин: Сергеи Уасил-иҧа, иҭабуп ааҧхьара исышәҭаз азы. Сара избоит ауаа амҩадуқәа рҟны ҳделегациа ишаҧыло. Ари зегь раҧхьаӡа иргыланы Урыстәыла азыҟазаашьоуп ишьақәнарҕәҕо. Иашаҵәҟьаны, Урыстәыла иҟанаҵаз рацәоуп, еиҳаракгьы аҵыхәтәантәи ашықәс азы, Аҧсны жәлар адгылара рыҭаразы. Аҧсуа ҳәынҭқарра ахьыҧшымра ашьақәгылара адгылара аҭаразы. Убри аан исҳәарц сҭахыуп, аҽаҩра ҟалом, ажәла ахькауҧсаз адгьыл бааҧсызар. Аҧсны жәлар ирылшоз зегьы ҟарҵеит, иаадырҧшит ахаҵареи, агәҭбаареи, ачҳареи, ахьамҵреи, аҟыбаҩи – аҵыхәҭәантәи ашықәсқәа рзы иҟалаз ахҭысқәа ҟаларазы. Даҽазныкгьы еиҭасҳәоит, иагьышьақәсырҕәҕәоит, Шәачатәи шгәареи сареи ҳаиҧылараҟны иазгәаҳҭаз апланқәа зегьы, иагьа уадаҩра рыцзаргьы, ҧсахрада иаанхоит. Абри атәы ҳалацәажәараны ҳаҟоуп иахьагьы. Абри атәы сҳәахьеит шәжурналистцәеи сареи ҳаиҿцәажәараан. Сынтәатәи ашықәс азы, Шәареи сареи ишеибаҳҳәахьоу еиҧш, ҷыдала хырҩаа рзухоит ашәарҭадара аиқәыршәара азҵаареи, асоциал-економикатә усхк аҿиареи.
 

Аҧхьаҟа хы-шықәса алагалақәа рзы Шәареи сареи ҳазлацәажәаз азҧхьагәаҭоуп. Агәыҕра сымоуп, иахьатәи ҳаиҿцәажәарақәа рыҟны ҳусеицураҿы иалаҳкаап ҳәа иаҳа аперспектива змоу ахырхарҭақәа ҳәа.
 

С. Багаҧшь: Иҭабуп, Владимир Владимир-иҧа! Иҭабуп!

 

13.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟны зформат хаҭәаау аизыҟазаашьақәа шьақәнаргылоит

 

Аҟәа, Урыстәыла иацнаҵалоит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟны зформат хаҭәаау аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, „ уи згамҧхо ыҟазаргьы“ ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Апрезидент Дмитрии Медведев.

 

„Ари ҳара еиҭа ҳаззыхынҳәыша зҵаарам – уи иҳадаҳкылахьоу ӡбароуп, анагӡаргьы ҳагәҭакыуп“, - иҳәеит уи адокәменталтә сахьа "В августе 2008-го"  авторцәа рҧылараан.

 

„Сара  Цхинвал ахаангьы сымнеицызт, президентк иаҳасабала аҳәынҭқарра ҿыц  Аахыҵ Уаҧстәылаҟа официалла сцаанӡа. Ҳәара аҭахыума уаҟа аҭагылазаашьа уадаҩуп,ауааҧсыра   ҕарыуп, жәашықәсала аблокада иахылҿиааз ауадаҩрақәа даара ирацәоуп. Аха иҟоуп, ауааҧсыра рганахьалагьы, ареспублика апанхгара рҟынгьы арҭ ауадаҩрақәа рыӡбара иазаҳаҵҳаҵо иашьҭоу“, - иазгәеиҭеит Медведев. Урыстәыла арҭ ауадаҩрақәа рыӡбараҿы ацхыраара ҟанаҵоит, инаҵшьны иазгеиҭеит уи.

 

„Ҳара иалаҳарҵәалоит ацхыраара апрограммақәа, еиҿаҳкаалоит аинвестициатә проектқәа, иҳахьчалоит ари аҳәынҭқарра ашәарҭадара, ҳрыцхраалоит ашәарҭадара ахьчараҿи, лассы иӡбатәу аекономикатә уадаҩрақәеи рыӡбараҿи,“ – ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада.

 

„Аахыҵ Уаҧстәылеи ҳареи иҳабжьаҳҵахьеит иҷыдоу Аиқәшаҳаҭра – аиҩызареи, аицхыраареи, арратә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, уажәшьҭа урҭ азҵаарақәа рыӡбара нап аҳаркуеит“, - азгәеиҭеит Дмитрии Медведев.

 

08.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 VI- тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "ABHAZIA OPEN: АҞӘА -2009“ алахәцәеи асасцәеи рҽаладырхәт аекологиатә акциа „Аҧшаҳәа цқьақәа“

 

Аҟәа, VI- тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "ABHAZIA OPEN: АҞӘА -2009“ алахәцәа 40 ҩыуааки асасцәеи рҽаладырхәт аекологиатә акциа „Аҧшаҳәа цқьақәа“. Урҭ рҽырҧыршьит аиҿкаара „Аҧсны ҿа“ аентузиастцәа ргыҧ.

 

Акциа ахы акит шьыжьы асааҭ 10 рзы. Ашоура шҕьызгьы, акциа иалахәыз идрыцқьеит Аҧсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаҧхьа аҧшаҳәа, урҭ уаҟа 50 ааҵәа агәам-сам еизыргеит. Аҟәа ақлақь Ахадара акоммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа агәам-сам еизгаз алыргеит.

 

Атурнир адиреқтор Константин Ҭыжәба адырра злаҟаиҵаз ала, „акциа „Аҧшаҳәа цқьақәа“ алахәцәа зегьы ироуеит Ареспублика Аҧсны аекологиатә маҵзура аиҳабы Роман Дбар инапы зҵаҩу асертификат“.

 

07.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь далахәхоит, 2008 шықәсазтәи Аахыҵ Уаҧстәыла атрагедиатә хҭысқәа ирызкыу аусмҩаҧгатәқәа

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь далахәхоит, 2008 шықәсазтәи Аахыҵ Уаҧстәыла  атрагедиатә хҭысқәа ирызкыу аусмҩаҧгатәқәа. Урҭ азгәаҭоуп Аахыҵ Уаҧстәыла аҳҭны-қалақь Цхинвал.

 

Абри азы адырра ҟаиҵеит амассатә-информациатә хархәагақәа рыҟны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Кристиан Бжьаниа.

 

06.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ҧхынгәы 31 рзы Аҧсны апарламент иаднакылаз „Ареспублика Аҧсны атәылауаҩразы азакәан“ аҧсахрақәа алагаларазы“ ақәҵара аҧсахит

 

„Ареспублика Аҧсны атәылауаҩразы азакәан аҧсахрақәа алагаларазы“ҧхынгәы 31 рзы Аҧсны апарламент иаднакылаз ақәҵара №2459-с-IV  аҧсахит. Абри азы аӡбара рыдыркылеит иахьа, нанҳәа 6 рзы Апарламент асессиа изаамҭанытәым аилатәараҟны.

 

Апарламент ,иара убас иаднакылеит аӡбара „Ареспублика Аҧсны атәылауаҩразы азакәсн аҧсахрақәа алагалара“ аус адуларазы иаҧҵазарц аусуҩтә гәып, апарламенттә комиссиеи , азакәанҧҵаратәи, аӡбара-зинтә реформеи аҳәынҭқарратә ргылареи аилаққәеиалархәны, „Қырҭтәыла аҳәаа иаҧну атерриториаҟны инхо Ареспублика Аҧсны ауааҧсыра рзинтә статус аҭышәныртәаларазы“.

 

06.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Имҩаҧысит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамбеи Ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак ахаҭарнакцәеи реиҧылара

 

2009 шықәса, нанҳәа 5 рзы Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба идикылеит Ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак ахаҭарнакцәа – Азиеи Кавкази рыҟны ахҵәацәа русқәа Норвегиатәи Ахеилак арегионалтә директор аҳкәажә Маргарет Виккии Аҧсны иҟоу ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак ахада Игор Шантефои. Адәныҟаполитикатә усбарҭа апресс-маҵзура адырра злаҟанаҵо ала, Маргарет Викки дыдлырдырит, Аҧсны иҟоу Ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак анапхгаҩ ҿыцс иҟало Анна Повржевич. Аҳкәажә Анна Повржевич 2007 шықәса инаркны 2009 –нӡа напхгара алҭон Аҧсны иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаара World Vision.

 

Аиҧылараҟны Ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак ахаҭарнакцәа алацәажәеит Аҧсны ашкол хыбрақәеи, аҩнқәеи реиҭашьақәыргыларазы иаладырҵәо апроектқәа  ирыдҳәалоу азҵаатәқәа.

 

С.Шамба аиҿкаара ахаҭарнакцәа агәра диргеит апроектқәа раларҵәараҿ ицәырҵуа азҵаарақәа рҿы ацхыраара шыҟаиҵо ала.

 

06.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Апарламент Ахада Н.Ашәба диҧылеит Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Александр Трошин

 

Аҟәа, Иахьа, Аҧсны  Апарламент ахада Нугзар Ашәба дидикылеит, арҭ амшқәа рзы  Аҧсны ҧсшьара иааны иҟоу Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Александр Трошин.

 

Ашәбеи Трошини алацәажәеит Ареспублика Аҧсны азинтә база аҿиара азҵаарақәа. Н.Ашәба асас изеиҭеиҳәеит апарламент аилазаареи, Ареспублика Аҧсны азакәанҧҵаратә системеи ртәы.

 

Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ А.Трошин Ареспублика Аҧсны Аконституциа  „европатәи астандартқәа“ иахьынӡарықәшәо азы игәаанагара иҳәеит.

 

Аиҧылараҿы, иара убасгьы ирзааҭгылан Урыстәыла Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵаз инамаданы, ҳаамҭазтәи адемократиатә ҳәынҭқарра аргылараҿы ацхыраара аҟаҵара аперспективақәа.

 

03.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Акапиталтә рҽеирақәа рышьҭахь иаарласны иаартхоит Аҟәатәи ахшараиурҭа ҩны

 

Аҟәа, Аҟәатәи ахшараиурҭа ҩны аартра иазхиоуп, ҳәа аиҳабыра реилатәараҟны адырра ҟаиҵеит афирма „Аҟәаргылара“ аиҳабы Руслан Тәанба. Уи ишьақәирҕәҕәеит, иахьазы ахыбраҟны ишымҩаҧысуа амыругақәа рышьақәыргылара,  ишдыргыло аҩнымаҭәа; русура хдыркәшоит иара убас афымцаеибыҭаҩцәа; ибзианы аус руеит аҭыҧантәи аӡымҩангагақәа; ахшараиурҭа ҩны акәша-мыкәша атерриториа рыцқьоуп. Аҧыза-министр А.Анқәаб иақәиргәыҕит, ари амчыбжь азы ахыбра шрыдыркыло ала.

 

Афирма „Аҟәаргылара“ абригадақәа Аҧсны Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишырҿыц ирҿуп. Руслан Тәанба иажәақәа рыла, амузеи ахыбра даара иуашәшәырахахьан, уи арҵабыргуеит иҭабганы иҟоу адашьмақәеи, ибааны иҟоу ахыб ҵыргәақәеи. Амузеи аҟны иахьазы аусурақәа ирыцҵоуп, ҧарала-шьарала аиқәыршәаразы афинансқәа рминистрра аганахьала уадаҩра ҳәа акагьы ыҟам, - иазгәеиҭеит Тәанба.

 

Аилатәараҟны, иара убас иазааҭгылеит, Ленин ихьӡ-зхыу аҳҭны-қалақь апарк аҟны  арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгара азҵаара. Иахьазы апарк аҟны апланеиҭакратә усурақәа мҩаҧысуеит, ишьҭаҵоуп анеига мҩа ҿыцқәа , иара убас уаҟа иқәыргылахоит алашарбага ҿыцқәа. Адгьылтә усурақәа рымҩаҧгаразы !,5 нызқь кәбометр адгьыл аагоуп.

 

Арҭ амшқәа рзы ихыркәшахоит С.Ҷанба ихьӡ зхыу аҧсуа драматә театр аҟны ахыбра аҧсахраз аусурақәа. Афирма „Аҟәаргылара“ аиҳабы иинформациала, Аҧсуа драмтеатри, Аурыс драмтеатри, иара убас Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә музеии рхыбрақәа рыҧсахраз иаагоуп, Монтерреи афирма иатәу ахыбмаҭәахә (металлочерепица), уи 50 шықәсанӡа анҵыра амоуп.

 

03.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, ашәахьаҽны, нанҳәа 3 рзы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит. Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа ареспублика аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика азҵаатәқәа ирылацәажәеит.

 

Абри азы адырра ҟарҵеит Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟынтә.

 

03.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны ашколқәа рҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшахароуп нанҳәа 25-нӡа

 

Аҟәа, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҳаҩсыз ахәашаҽны, ҧхынгәы 31 рзы имҩаҧигеит ареспублика ашколқәа рҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧысшьазы аилатәара. Уи иалахәын Аҳәынҭеилахәыра „Аҧсныргылара“ аргыларатә еиҿкаарақәеи, акапиталтә ргыларақәа русбарҭеи рнапхгаҩцәеи.

 

Аилатәара рхы аладырхәт, иара убас, Аҧсны афинансқәа рминистр Беслан Кәбраа, аҵара аминистр Инидира Аҩардан, Аминистрцәа Реилазаара анапаҵаҟа иҟоу акапиталтә ргыларақәа русбарҭа аиҳабы Константин Бигәаа, Аҳәынҭеилак „Черноморенерго“ ахада Резо Занҭариа, Аҟәа ақалақьи, Аҟәеи, Очамчыреи, Гали, Тҟәарчали, Гәлрыҧшьи, Гагреи, Гәдоуҭеи араионқәа рҵара аҟәшақәа реиҳабацәа.

 

А.Анқәаб иҭиҵаауан ашколқәа рҟны, раҧхьа иргыланы ақыҭа школқәа рҟны аргылара-рҽеиратә усурақәа рхаҭабзиара атәы. Акапиталтә ргыларақәа русбарҭеи, аргылара рҽеиратә усбарҭеи рхаҭарнакцәа инагӡоу аусрақәа зегьы рзи, иара убас иныхыу ахарџьқәеи рзы аҳасабырба ҟарҵеит.

 

Аҧыза-министр аргылаҩцәа ргәы рҽаниҵеит, ашколқәа рҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгараан, араионқәа рҵара аҟәшақәа реиҳабацәа ргазыҳәарақәеи разгәаҭақәеи ирықәныҟәаларц азы.

 

„Иаҭахыуп арҽеиратә усурақәа ртемп арццакра. Аҵара ашықәс иалагаанӡа инхаз аамҭа маҷуп. Убри азын аусутә  амш  ишәызҭамыгӡозар, уахынлагьы аус улатәуп. Аҿҳәара азын ихыркәшатәуп арҽеиратә усурақәа зегьы. Уажәшьҭан ашкол маҭәа ҿыци амыругақәеи ажәжәаҳәа рыргылара ақәымшәарц азы. Араҟа ахәыҷқәа рхара ҳәа акагьы ыҟам, адуцәа ахьымӡозар“,- инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра рхада. Анқәаб иара убас ишьҭихит, арҽеиратә усурақәа рышьҭахь, ашколқәа  рыкәша-мыкәша иаанхо агәам-сам азҵаара.

 

Аҧыза-министр аҵара аминистр анапынҵа лиҭеит, агәыҩбара изҭо школқәак рыҟны арҽеиратә усурақәа рцашьа агәаҭаразы.

 

Иахьа ашколқәа жәпакы рыҟны аҧенџьырқәа рыҧсахуеит, ахыбрақәа  иахькылсуа иқәдыршәуеит, афымцамҩангагақәеи аӡымҩангагақәеи дырҽыцуеит, идыргылоит асанитартә хыбрақәеи, аспорзалқәеи.

 

Иахьазы, арҽеиратә усурақәа мҩаҧысуеит Очамчыра ақалақьи Тамшь ақыҭеи ашкол-интернатқәа рҟны, ақыҭақәа Ҷлоу, Кәтол, Ҭхьына, Џьгьарда ашколқәа рыҟны, Аҟәа араион иахьаҵанакуа Аладатәи Аҩадатәии Ешыра ақыҭа школқәа рыҟны, Гәылрыҧшь араион Дранда аҳаблан, Гәдоуҭа араион Мҵара, Лыхны, Дәрыҧшь, Бамбора, Гагра араион Бзыҧ аҳаблан ашколқәа №№1, 2 рыҟны, Аҟәа 15тәи абжьаратә школ аҟны.

 

Мҵаратәи ашкол ахыбраҿтәи арҽеиратә усурақәа ртәы дазааҭгыло (уаҟа уажәы ахыбра рыҧсахуеит), А.Анқәаб апресс ала абри ақыҭа иалҵыз акыр зылшо рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, 2004 шықәса цәыббра мзазы рқыҭеи рышколи иацхраарц азы ирҭииз ажәа нарыгӡарц. Усҟан иазгәарҭон аерман қыҭа Мҵара 125 шықәса ахыҵреи, ари ақыҭа ашкол 120 шықәса ахыҵреи.

 

Ҳазҭоу ашықәс азы, аҵарадырра асистемаҟны иарбоуп 22 хыбра рыҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгара. Урҭ рынагӡаразы абиуџьет аҟынтә иазоужьуп 44 миллион мааҭ. Уи еиҭа хаҭәаауп 34 миллион мааҭ рыла. Аилатәараҟны иазгәарҭеит иаҭаххозар еиҭа ишацҵахо ала.

 

„Ҳәара аҭахыума, ареспублика азеиҧшҵараиурҭа школқәа зегьы рыҟны уи азхом, макьана ҳусутә рацәоуп“, - иҳәеит аилатәара ашьҭахь ажурналистцәа рыҿцәажәараан Аҧыза-министр А.Анқәаб. Уи иазгәеиҭеит, арҭ амшқәа рзы, аиҳабыра акапиталтә ргыларақәа русбарҭеи афинансқәа рминистрреи алархәны ишымҩаҧнаго 2010 шықәса рзы иазгәаҭоу арҽеиратә усурақәа раҳасабтә. „Аминистрцәа Реилазаараҟны ахәаҧшразы аматериал азхиахароуп нанҳәамзазы“, - иазгәеиҭеит уи.

 

Анқәаб адырра ҟаиҵеит, аҵарадырра ахыбрақәа рыҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧысшьазы анаҩстәи аиҧылара азгәаҭоуп нанҳәа 20 рзы ҳәа. Аҧыза-аминистр иажәақәа рыла, нанҳәа 25 рзы ихыркәшахароуп арҽеиратә усурақәа зегьы.

 

03.08.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада