AҦCУAA PЫБЖbbI

                   -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 
 Леонид Лакербаиа дырҧылеит алимитқәа рыла Урыстәыла аҵариоурҭақәа ирҭалаз астудентцәа

 

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиа дырҧылеит алимитқәа рыла Урыстәыла аҵариоурҭақәа ирҭалаз астудентцәа.

 

Леонид Лакербаиа иажәақәа рыла, астудентцәа рҵариоурҭақәа рҟны иҟазар ауп август 25 инаркны сентиабр 10 иахымгакәа. Убри аан иара иазгәеиҭеит, 18 шықәса зхыҵхьоу астудентцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рхы аладырхәыр шауа.

 

Леонид Лакербаиа астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аҳәаа ахыҵраан иарбан документқәоу ихымҧадатәиу, насгьы аҵариоурҭақәа рҿы ианнеилакь иахьнеир акәы атәы. Иара аҭаацәарахь аҳәара ҟаиҵеит рхәыҷқәа ахылаҧшра рырҭарц азы.

 

Иазгәаҭатәуп, Урыстәыла Афедерациа аҵараминистрра Аҧсны азы иоунашьҭыз 106 аквотақәа рахьтә 52 роуп ахархәара зоуз. Амагистратуразы 10 ҭыҧк рахьынтәи ихарҭәаауп 3, астудентцәа рзы 96 ҭыҧ ахьыҟаз иҭалеит 49-ҩык. Леонид Лакербаиа игәаанагарала, уи зыхҟьо иҭалоз рзыҟаҵара аҩаӡара ахьыҧсыҽыз азы ауп.

 

Урыстәыла Афедерациа аҵариоурҭақәа ирҭалаз астудентцәа – 30-ҩык Аҟәатәи ашколқәа аушьҭымҭацәа роуп, 10 – ҩык Гагрантәи, 4 - ҩык Гәдоуҭантәи , 3 – ҩык Тҟәарчалнтәи, ҩыџьа Пицундантәи, ҩыџьа Афон Ҿыц аҟынтәи , аӡәы - Очамчырантәи.

 

Леонид Лакербаиа астудентцәа ирзеҕьаишьеит аҵараҿы ақәҿиарақәа, рҵара иалганы ианаалакь рыҧсадгьыл аҿиаразы қәҿиарала аус рыуларц.

 

18.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧигеит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәамыш шрыбжьаз, ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧигеит . Баҭал Табаҕәуа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит алхратә ҭыҧ хадақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы. Иара убас, иара далацәажәеит иназыцҵо асиақәеи акандидатцәа рҟынтә анаҧшцәа рхыҧхьаӡара ацҵара азҵаатәқәеи.

 

Баҭал Табаҕәуа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

 

17.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан анаҧшҩцәа раҳасабала рхы аладырхуеит Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рхаҭаранакцәа

 

Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба иажәақәа рыла, Аҧсны Ахада иалахрақәа раан анаҧшҩцәа раҳасабала Аҧсныҟа иаауеит Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рхаҭарнакцәа. Иара иҳәеит, Аҧсны Жәлар Реизара ахаҭарнакцәа Урыстәылеи СНГ атәылақәа рахь ааҧхьарақәа шырышьҭхьоу. Ааҧхьарақәа рышьҭхьеит иара убас, Франциа, Венгриа, Бельгиа, Италиа, Австралиа, африкатәи атәылақәа жәпакы рахь. Зынӡа ааҧхьарақәа рышьҭхьеит 100 инарзынаҧшуа, иахьатәи аамҭазы урҭ рахьтә 60 алхрақәа рҽалархәра иақәшаҳаҭхахьеит.

 

Иазгәаҭатәуп , Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа август 26 рзы ишымҩаҧысуа. Аҳәынҭқарра ахадарахьы ркандидатура ықәгылоуп Александр Анқәаб, Сергеи Шамба, Рауль Ҳаџьымба.

 

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа излеиҳәаз ала, азакәан инақәыршәаны, иахьарнахыс алхратә ҭыҧқәа зегьы рҿы алхыҩцәа рсиа кыдуп.

 

17.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Август 14 рзы иҵит 19 шықәса Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра иалагеижьҭеи

 

Август 14 рзы иҵит 19 шықәса Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993 шш.) иалагеижьҭеи. Ари аҽны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы имҩаҧысит агәаларшәаратә митингқәа. Аҧсны анапхгареи атәыла ауааҧсыреи ашәҭқәа шьҭарҵеит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟақәа рҿаҧхьа.

 

Аҟәа, иҭахаз аҵеицәа рбаҟа аҿаҧхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Ашәба, аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыбраа, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларра, аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа. Урҭ минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993 шш.) иҭахаз аҵеицәа.

 

Август 14, 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла аҳәыҭсовет архәҭақәа Аҧсны иалалеит. Аибашьра цон 413 мшы, иагьхыркәшахеит аҧсуа жәлар риааирала.

 

15.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Науру ахаҭарнакцәа анаҧшҩцәа раҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылахәхоит

 

Ареспублика Науру ахаҭарнакцәа анаҧшҩцәа раҳасабала август 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылахәхоит. Уи атәы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иаарыцҳаит Науру апарламент ахаҭарнакцәа.

 

Ареспублика Науру Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит 2009 шықәса, август 15 рзы.

 

11.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аусзуҩцәа имытҟәцхьоу аџьаҧҳаны артҟәацразы аоперациа мҩаҧыргеит

 

Ҳазну ашықәс, аҵыхәтәантәи 3,5 мызқәа ирылагӡаны Аҟәеи Очамчыреи рраионқәа рҿы иҧшааз 14 хкы аџьаҧҳаны, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аусзуҩцәа имҩаҧыргаз аоперациа иалҵшәаханы иртҟәацын Ҵабалтәи аполегон аҟны.

 

11.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аекономикатә аҭҵаарадыррақәа рдоктор Улдис Осис иҵаулоу амшынтә зона “Очамчыра” аҿиаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра апрограмма аӡыргара мҩаҧигеит

 

Аекономикатә аҭҵаарадыррақәа рдоктор Улдис Осис иҵаулоу амшынтә зона “Очамчыра” аҿиаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра апрограмма аӡыргара мҩаҧигеит. Аӡыргара мҩаҧысуан Аҟәа, уи иалахәын Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Ашәба, аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыбраа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Ҧиҧиа, Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Григори Еныкь, аекономика аминистр Кристина Озган, атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа, ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара адепутатцәа Руслан Кьышьмариеи Павел Лешьуки, Очамчыра араион администрациа ахада Мурман Џьопуа.

 

Улдис Осис Аиҳабыра рхаҭарнакцәа ирыдигалеит иҵаулоу амшынтә зона “Очамчыра” аҿиаразы хықәкылатәи апрограмма. Осис еизаз ирзеиҭеиҳәеит ари апрограмма иамоу аҧеиҧш, насгьы уи иҳәеит, иахәҭаны ишыиҧхьаӡо Очамчыратәи апорт ҿыц аргылара. Иара убас, Улдис Осис дазааҭгылеит Очамчыратәи амшынтә баҕәазаҿы 10 млн. тонна зызкуа аӡҵаулара арҭбааразы апроект аус адулареи анагӡареи, ҧхьаҟазы шықәсык аидараеикәыршара 30 млн. тонн рҟынӡа ацҵара азы.

 

Анаҩыс Улдис Осис еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

 

Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Ашәба игәаанагарала ари апрограмма даара аинтерес аҵоуп. Иара иҳәеит, аекономика аҿиараҿы апроект истандартәым азнеишьа шамоу.

 

Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыбраагьы иҵаулоу амшынтә зона “Очамчыра” аҿиара апроект аинтерес аҵаны иҧхьаӡоит, иара иазгәеиҭеит агәаҳәара шимоу апроект инарҭбааны аҭҵаара. Беслан Кәыбраа ажәалагала ҟаиҵеит, ари апроект ахылаҧшра аҭаразы аусутә гәыҧ аҧҵазарц.

 

09.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны иргәаладыршәоит Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз аибашьра иахҟьаны иҭахаз ауааҧсыра

 

Иахьа Аҧсны иргәаладыршәоит 2008 шықәса рзы, Аахыҵ Уаҧстәыла жәлар рықәыхразы Қарҭ имҩаҧнагаз агрессиа аан иҭахаз ауааҧсыра. Убри инамаданы, Аҧсны иҟоу Аахыҵ Уаҧстәыла ацҳаражәҳәараҿы имҩаҧысит агәалашәаратә усмҩаҧгатә. Уи иалахәын Аҧсны аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыбраа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәа Александр Страничкини Вахтанг Ҧиҧиеи, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәынџьиа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.

 

Еизаз миниуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз аибашьраан иҭахаз ауааҧсыра. Дара изгәарҭон, ари аамҭа уадаҩаҿ акрызҵазкуа ароль Урыстәыла ишынанагӡаз. “Аахыҵ Уаҧстәыла жәлар рықәыхразы Саакашвили имҩаҧигоз агрессиа аан иҭахаз ауааҧсыра еснагь ҳгәалашәараҿы иаанхоит” – ҳәа азгәарҭон дара.

 

Ацҳаражәҳәаҩ Роберт Кокоев Аахыҵ Уаҧстәыла жәлар рыхьӡала Аҧсны анапхгара иҭабцуп ҳәа реиҳәеит, аамҭа уадаҩаан иҟарҵаз ацхырааразы.

 

Ари арыцхә инамаданы Аҧсны аҧыза-министр инапынҵақәа назхыгӡо Беслан Кәыбраа Аахыҵ Уаҧстәыла аҧыза-министр Вадим Бробцев иахь агәалашәаратә шәҟәы ишьҭит. “Абар хышықәса ҵуеит Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз атрагедиа ашьҭахь. Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахьӡала аҳаҭырбара ааҳарҧшуеит Ареспублика Аахыҵ Уаҧстәыла жәлар зегьы рахь, аибашьра шьаарҵәыра ахьырхыргаз азы” – ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны. Беслан Кәыбраа Аахыҵ Уаҧстәыла жәлар ирзеҕьаишьеит аҭынчреи ареспублика аҿиараҿы ақәҿиарақәеи.

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәынџьиа агәалашәаратә шәҟәы ишьҭит Аахыҵ Уаҧстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мураҭ Џьиоев иахь.

 

2008 шықәса, август 8 рзы Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз аибашьра иахҟьаны иҭахаз ауааҧсыра ргәладыршәоит Аҧснытәи ауахәамақәа рҿгьы.

 

08.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиа имҩаҧнагеит ашықәс азыбжазы аусура аихшьаала иазкыз аилатәара

 

Иахьа Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиа имҩаҧнагеит ашықәс азыбжазы аусура аихшьаала иазкыз аилатәара. Уи рхы аладырхәит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин, апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Беслан Кәыҵниа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Георгии Акаба.

 

Ҳазну ашықәс азыбжазы аминистрра аусура аихшьаалақәа ҟаҵо аилатәараҿы дықәгылеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аштаб ахантәаҩы Ҭеимураз Тарканов. Иара иажәақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан 392 ацәгьоурақәа, урҭ рахьынтә иаартын 258 (65,8 %). Арҭ арбагақәа ҵыҧхтәи ашықәс иаҿурҧшуазар, сынтәа ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа раасҭа шәынтә еиҵоуп. Ҭеимураз Тарканов игәаангарала ацәгьаурақәа рхыҧхьаӡара еиҳа иахьмаҷхаз зыбзоуроу аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿ иҟоу ахылаҧшра ауп.

 

Иазгәаҭатәуп, ааигәа Аҧсны апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы ишцәыргаз агәаанагара, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа апрокуратура хада аҟынтәи ацәгьоурақәа рхьыҧхьаӡара заҟа ыҟоу аҵабырг рҵәахуазшәа. Ари агәаангара ахҳәаа ҟаҵо Ҭеимураз Тарканов иҳәеит, уи аҵабырг ишақәымшәо.

 

Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра араионтә ҟәшақәа русушьа дазааҭгыло аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба иҳәеит, ацәгьоурақәа зҵәахуа, урҭ ашәҟәы иҭазымгало аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа ашьауҕьтә ус ишақәыршәахо. Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза афактқәа аҭыҧ рымоуп.

 

Леонид Ӡаҧшьба иқәгылараҿы иара убас дазааҭгылеит, акурорттә сезон аан аҧсшьаҩцәа рырҳәра афактқәа ртәы, иара иҳәеит урҭ ахылаҧшрада ишаанымхо.

 

Аилатәара иалхәыз аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин иҳәеит, август 26 рзы имҩаҧысран иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа атәылаҿы аҭагылазаашьа ахылаҧшра дырҕәҕәар шакәы.

 

Аилатәараҿы ирылацәажәан егьырҭ азҵаарақәагьы.

 

05.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Баслахә ақыҭа иамоуп ахатә саит

 

Очамчыра араион Баслахә ақыҭа иамоуп ахатә саит www.baslakhu.org. Асаит шьақәгылоуп ҩ-бызшәак рыла: аҧсышәалеи урысшәалеи. Уи иаҭаауа изы иаатуеит ақыҭа аҭоурых, ахҭысқәа, афотосахьақәа, афырхацәа ирызкны анҵамҭақәа.

 

Асаит аҧҵоуп аинтернеттә саитқәа аҧызҵо астудиа "Amarial" абзоурала.

 

04.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны еицҿакны ирыдыркылеит 2012 шықәсазтәи асоциал-еконмикатә ҿиара аиндикативтә план

 

Иахьа Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит 2012 шықәсазтәи асоциал-еконмикатә ҿиара аиндикативтә план. Аилатәара иалахәыз аекономика аминистр Кристиана Озган лажәақәа рыла, 2012 шықәсазтәи Аҧсны асоциал-еконмикатә ҿиара аиндикативтә план апроект шьақәыргылан 2010 шықәсази ҳазну ашықәс актәи азыбжази, аҳәынҭқарратә еилакқәеи аоганизациақәеи рырбагақәа рыла. Лара дазааҭгылеит, иааиуа ашықәс азы аекономика аусхкқәа зегьы рҟны ааглыхра амҽхаки, уи иарбоу ахашәалеи ртәы.

 

Аилатәара иалахәыз араионқәа рҟны аекономикатә ҟәшақәа рхаҭарнакцәа ирҳәеит, аиндикативтә план арбагақәа зегьы ишрықәшаҳаҭу. Дара иазгәарҭеит араионқәа рҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ишаҿу. Ус шакугьы аиҵахарақәагьы аҭыҧ рымоуп. Иаагозар, акурорти атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭенгиз Лакербаиа иажәақәа рыла, 2007 шықәса раахыс ари аусхк аҟны аҭагылазаашьа еҕьхом.

 

Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Саид Ҭаркьыл иажәақәа рыла, агәыҕра ыҟоуп иааиуа ашықәс иманшәаланы имҩаҧысып ҳәа.

 

Аилатәара аихшьаала ҟаҵо аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыбраа иазгәеиҭеит, аиндикативтә план аҳәынҭқарратә биуџьет ашьақәыргылараҟны ихадоу документуп ҳәа.

 

Аилатәараҟны 2012 шықәсазтәи асоциал-еконмикатә ҿиара аиндикативтә план еицҿакны ирыдыркылеит.

 

03.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Ашәба ихантәаҩрала имҩаҧысит атәыла ашәарҭадара ахеилак аилатәара

 

Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Ашәба ихантәаҩрала имҩаҧысит атәыла ашәарҭадара ахеилак аилатәара. Уаҟа ирылацәажәеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан атәылаҿ ашәарҭадара аҧҵареи азакәан ақәныҟәареи ирызкыз азҵаарақәа. Аилатәара иалхәын: Аҧсны ашәарҭадартә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Оҭар Хьециа, апрокурор хада Сафарбеи Мқанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба , Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Роман Мышәба, аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә усбарҭа ахантәаҩы Беслан Бжьаниа, аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Саид Ҭаркьыл, атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа уҳәа аӡәырҩы.

 

Аилатәара аартуа Нугзар Ашәба иҳәеит алхрақәа раан атәыла анапхгара аҿаҧхьа ишьҭоу азҵаара хадақәа ишыруакәы ашәарҭадара аҧҵара. Иара ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩцәа заа идирдырит алхрақәа хыркәшахаанӡа атәыла аҳәаа анҭыҵ имцарц, насгьы акурорттә сезон макьана иахьхыркәшам инамаданы уи ахылаҧшразы имҩаҧсысуа аусмҩаҧгатәқәа еиҳа идырҕәҕәарц.

 

Аилатәара иалхәыз азинхьчаратә аусбарҭақәа рхантәаҩцәа Нугзар Ашәба изеиҭарҳәеит ареспублиакҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа зеиҧшроу атәы. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба инарҭбааны дазааҭгылеит аҵыхәтәантәи бжьымзы рыҩныҵҟа Аҧсны имҩаҧысхьоу ацәгьаурақәа ртәы, иара иҳәеит урҭ рхыҧхьаӡара акыр ишагхаз, убриаан иаарту ацәгьаурақәа рхыҧхьаӡара акыр ишазҳзз.

 

Анаҩыс аилатәара мҩаҧысуан ажурналиҿстцәа аламырхәӡакәа.

 

“Ҳара ҳалацәажәеит ареспублика аҩныҵҟа акримииногентә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы азҵаарақәа”, - иҳәеит Нугзар Ашәба.

 

01.08.2011  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара