AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҧсуа шрифт



 
 Аҧсны аҧыза-министр А.Анқәаб дидикылеит ҧасатәи ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке

 

Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб дидикылеит ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдас иҟаз Иоҳан Вербеке.

 

Вербеке ихаҭа ажурналистцәа излареиҳәаз ала, аҧыза-министр иҧылара аусуҩтә ҟазшьа амамызт.

 

Иоҳан Вербеке аиҧылараҿы иазгәеиҭеит, аринахысгьы дахьыҟазаалакгьы арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы илшо зегьы шыҟаиҵало, уи иҳәеит иара убас Аҧсны ахааназы ихы-игәаҿы ишаанхо.

 

„Амиссиа аркыуп, Аҧсны атерриториа аанҳажьроуп. Уажәазы, арахь сааит аҧыза-министр абзиараз ҳәа иаҳәаразы, иара убас ООН ахьӡала ҭабуп ҳәа расҳәоит Аҧсны амчрақәа ҳусеицуразы“, - ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит зыҩаӡара ҳаракыу ООН ачынуаҩ.

 

„Ҳара еснагь ҳаҭырқәҵарала ҳрызныҟәоит Аҧсны аус зуа зегьы.Ҳара ҳазхиоуп апатын Вербеке араҟа ибара иара убас туристк иаҳасабалагьы,“ – ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит А.Анқәаб аиҧылара ахыркәшамҭазы. А.Анқәаб ишьақәирҕәҕәеит, апатын гәахәарыла ишидикылаз иажәалагала.

 

30.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Шамбеи ҧасатәи ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербекеи алацәажәеит ООН аринахысгьы аусацура алзыршо аформақәа

 

ООН Амиссиа арегион анаанрыжьлак ашьҭахьгьы, аҧхьаҟагьы ООН аусацура алзыршо аформақәа ирылацәажәеит иахьа Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамбеи ҧасатәи ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак  ҷыда Иоҳан Вербекеи.

 

Шамба иажәақәа рыла,  аганқәа ирыҧшуааеит Аҧсны атерриториаҟны ООН аҟалара алзыршаша аформақәа, убри аан ООН Ашәарҭадара Ахеилак аӡбара иахьыҧшымкәа.

 

ООН арегион аҟны аҟалара алзыршо аформа аҧшаара хықәкыс иҟаҵаны, Иоҳан Вербеке изныкымкәа НИу-Иорк аштаб-квартирахь дцахьеит, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хадеи Ашәарҭадара Ахеилак егьырҭ алахәлацәеи рабжьгарақәа рзы.

 

Шамба иазиҧхьаӡоит, иаарласны еилкаахоит апроцесс зқәшаҳаҭхаз алыҵшәа.

 

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, ООН ахантәаҩрала ақырҭуеи, аурыси, аҧсуа ганқәеи Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи алархәны, ахҭысқәа рыҭҵаареи раҧырҟәҟәаареи рзы хә-ганктәи аиҧыларақәа рымҩаҧгара шхадароу.

 

Зыҩаӡара ҳаракыу ООН ачынуаҩ иара убас иазгәеиҭеит хә-ганктәи аиҧыларақәа рҵак ҷыда. „Аҧсуа ган ралагашьа бзиоуп. Аиҧылараҟны излацәажәо атемақәа ҳәарада иуадаҩуп, еибарххоуп. Аха араҟа ихадароу, ахҭысқәа раҧырҟәҟәааразы амеханизм аусура иахьалагазоуп“, - иҳәеит аиҧылараҟны Вербеке. Уи иара убас иазгәеиҭеит, аҧсуа делегациа ахаҭарнак қәҧш – Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа идырра ҵаулеи иҧышәеи.

 

30.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа ган азхиоуп ООН Аҧсны аанхара алзыршо амеханизмқәа адгылара рыҭара

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит Сергеи Шамбеи ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иоҳан Вербекеи реиҧылара. Ари 2009 шықәса жьҭаарамзазы зхыркәшара азгәаҭоу, ООН амиссиа аҧыхра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуаз ҵыхәтәантәи еиҧыларан.

 

Аҧсга ган шазхиоу рҳәеит ООН Аҧсны аанхара алзыршо амеханизмқәа адгылара рыҭара, иара убас ишақәшаҳаҭу шьақәдырҕәҕәеит, ООН ахантәаҩрала, ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи рыҭҵаареи рзы хәганктәи амеханизмқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҧыларақәа рымҩаҧгара ацҵара. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

 

30.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гал ақалақь аҟны ихыркәшахеит Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаақәа рҟны ахҭысқәа раҧырҟәҟәааразы хә-ганктәи аиҧылара

 

Гал ақалақь аҟны ихыркәшахеит Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаақәа рҟны ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи рыҭҵаареи рзы хә-ганктәи аиҧылара.

 

Аҧсуа ган хаҭарнакра азыруан, Аҳәынҭқарра Ахада Гал араион аҟны инапынҵа ҷыдақәа назыгӡо Руслан Кьышьмариа (аделегациа ахада), Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа, Аҧсны атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба.

 

Ақырҭуа делегациа хадара азиуан Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә департамент аиҳабы Шота Утиашвили.ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке ихантәаҩрала имҩаҧысуаз аиҧылара иара убасгьы иалахәын Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Иурии Звирык, Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра абжьагаҩ хада Василии Корчмар, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыҧуаҩ Владимир Боголиубов, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаҧшцәа рмиссиа ахада ихаҭыҧуаҩ.

 

Мақсим Ҕәнџьиа „Аҧсныпресс“ ахь адырра злаҟаиҵаз ала, аиҧылара алагамҭаз аганқәа аиҿкааратә зҵаарақәа ирылацәажәеит, хықәкыла аҳәаа иаҧну араионқәа рҟны аҭагылазаашьазы аинформациа аиҭныҧсахларазы „ишиашоу аимадара“ аҧҵаразы.

 

Ақырҭуа ган ахаҭарнакцәа, ҧхынгәы 22 рзы, аҧсуа-қырҭуа ҳәаа иахысуаз апассаџьыр зҭаз автобусқәа ҩба раанкыларазы азҵаара шьҭырхит.

 

Убри инамаданы аҧсуа ган ахаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵеит, автобусқәа аҳәаа ишахысуаз аушьҭырҭатә пунктқәа  иахьрыҵаркуа аҭыҧқәа ираҩганы, насгьы апассаџьырцәа ишрымамыз рхаҭара шьақәзыргылоз адокәмент ҳәа акагьы.

 

Аҧсуа ган ахаҭарнакцәа, Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рахь дҵаҟаҵараны иқәдыгылеит, 2006 шықәса жәабранмзазы Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа зыҩны идәылганы иргаз Давид Сигәуа ихабар азы аинформациа аилкаара. Аха ақырҭуа хаҭарнакцәа иазгәарҭеит, Сигәуа изы акагьы шырзымдыруа, ажәа рҭиит, акы шеилыркаалакь адырра шыҟарҵо ала.

 

Анаҩстәи хә-ганктәи аиҧылара нанҳәа мза 11 рзы, Гал ақалақь аҟны, иара уаҟа ООН ҧасатәи ахыбраҟны амҩаҧгаразы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит.

 

Мақсим Ҕәнџьиа иажәақәа рыла, аиҧылараҟны аҭагылазаашьа еибархханы ишыҟазгьы, уи хырҳара аланы имҩаҧысит.

 

28.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 А.Ткачиов агәыҕра ҟаиҵеит, Гагратәи аурыс школ№2 арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа финансла реиқәыршәаразы

 

А.Ткачиов агәыҕра ҟаиҵеит Гагратәи аурыс школ№2 арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа финансла реиқәыршәаразы. Абри атәы иҳәеит иахьа, Аҟәа, ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵо.

 

Ткачиов ишьақәирҕәҕәеит, ашкол аҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгара финансла реиқәыршәара ишартәо 300 миллион мааҭ аҧара. Агәбернатор инаҵшьны иазгәеиҭеит ,иахьа анапы зҵаҩу Аиқәшаҳаҭра ишаҧнаҵо азинтә база Ҟәбани Аҧсни русеицуразы, иара убасгьы азин анаҭоит официалла абанктә структурақәа рыла афинансқәа рахыҧхьаӡалареи риагареи.

 

„Ари ахҭыс акыраамҭа иазыҧшыз ашкол анапхгареи, аҵаҩцәеи, аҭаацәеи рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭасҵоит“, - иҳәеит Ткачиов.

 

Ткачиов инаҵшьны иазгәеиҭеит, иахьа аекономикатә кризис аҭыҧ шамоугьы, Краснодартәи атәылаҿацә ахадара аӡбара рыдыркылеит, Гагратәи аурыс школ аиҭашьақәыргыларазы иазоужьхараны иҟоу аҧара ахәҭак (100 миллионк) аҧара аашьҭразы.

 

Уи иазгәеиҭеит, Гагра ақалақь архитектуратә баҟақәа иреиуоу х-еихагылак иҟоу ашкол ахыбра ҧасатәи ахаҿы шеиҭашьақәыргылахо ала.

 

Ткачиов иара убасгьы иҳәеит, ари агәҳалалратә акциа Ҟәбан апарламент шақәшаҳаҭу.“ Ҳара еишьцәаҵас ҳныҟәеит, акагьы ҳамыхәаҧшыкәа“, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә Агәбернатор.

 

28.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Ҟәбани рнапы аҵарҩит ахәҳахәҭра-економикатәи, аҵарадырра-техникатәи, агәҳалалратәи, акультуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра

 

Ареспублика Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаби Краснодартәи атәылаҿацә Агубернатор Алеқсандр Ткачиови аҩашаҽны, Аҟәа рнапы аҵарҩит „Ахәҳахәҭра-економикатәи, аҵарадырра-техникатәи, агәҳалалратәи, акультуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра“.

 

Аиқәшаҳаҭра иазҧхьагәанаҭоит Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи ртерриториақәа рҟны ашәҟәы иҭагалоу анхамҩатә субиектқәа наҟ-ааҟ еицеилахәу апроектқәа раларҵәараҿы ацхыраара аҟаҵара, абарҭ ахырхарҭақәа рыла: ааглыхратәи, агроааглыхратә комплекси, ахәҳахәҭреи, амаҵзура ацхыраара аҭареи, аҵарадырра-ҭҵаарақәа русхққәа рҟни, атуризми акультуреи, аҵарадырреи реиҭашьақәыргылараҿи, иааҳакәршаны иҟоу аҧсабара ахьчареи, аинформациатә еиҭныҧсахлареи уҳәа рыҟны.

 

Иахьаҵәҟьа Аҟәа имҩаҧысит Ареспублика Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи Рхәҳахәҭра-ааглыхратә Палатақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Адокәмент рнапы аҵарҩит Апалатақәа рнапхгаҩцәа Геннадии Гагәлиеи Иурии Ткаченкои.

 

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп „Аҧсни  Урыстәыла Афедерациа арегионқәеи рыбжьара аекономикатәи, аҵарадырра-техникатәи, акультуратәи еимадарақәа аҧхьаҟа рыҿиареи реиқәырхареи рыҟны ацхыраара аҟаҵаразы“.

 

28.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи рнапы аҵарыҩуеит ахәҳахәҭра-економикатәи, аҵарадырра-техникатәи, акультуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра

 

Краснодартәи атәылаҿацә агәбернатор Александр Ткачиов зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аҧсны иаауеит уаҵәы, ҧхынгәы 28 рзы.

 

Аиҳабыра ринформациатә усбарҭа аҟны адырра злаҟарҵаз ала, 11.00 сааҭ рзы  Аҟәа, Ахьӡ-аҧша Апарк аҟны имҩаҧысуеит ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа.

 

11.45 рзы аделегациа идикылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.12.00 рзы имҩаҧысуеит Краснодартәи атәылаҿацә аделегациеи Аҧсны аиҳабыреи инарҭбаау реиҧылара. 13.00 рзы Аҧсны Аҧыза-министр А.Анқәаби Ҟәбантәи агубернатор Алеқсандр Ткачиови рнапы аҵарыҩуеит ахәҳахәҭра-економикатәи, аҵарадырра-техникатәи, агәҳалалратәи, акультуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

 

Ас еиҧш Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит иара убас Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи Рхәҳахәҭра-ааглыхратә палатақәа. Адокумент рнапы аҵарыҩуеит Аҧсны Ахәҳахәҭра-аалыхратә палата ахантәаҩы Геннадии Гагәлиеи уи Краснодартәи иколлега Иурии Ткаченкои.

 

Амш аҩбатәи азыбжазы аделегациа Гаграҟа ицоит, уаҟа иаҭаауеит абжьаратә зеиҧшҵараиурҭатә школ №2.

 

27.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Санкт-Петербургтәи аунивирситет астудентцәа Гагра араион аҟны археологиатә практика иахысуеит

 

Санкт-Петербургтәи аунивирситет астудентцәа 35ҩыуаак Гагра араион аҟны археологиатә практика иахысуеит. Урҭ апрактика рыцымҩаҧыргоит ареспублика Аҧсны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа реиқәырхаразы Аусбарҭеи, Аҧснытәи агәманитартә ҭҵаарақәа ринститути, Ҟабарда-Балкариатәи аҭоурыхи, афилологиеи, аекономикеи рҵарадырра-ҭҵааратә институти рспециалистцәа , ҳәа адырра ҟаиҵеит аҭоурых-культуратә ҭынхақәа реиқәырхаразы Аусбарҭа аиҳабы Вадим Бжьаниа.

 

Гәыҧк аус ауеит Гагра араион амшын аҧшаҳәа аҟны. Урҭ иҭырҵаауеит ҳера ҟалаанӡа 1 ашәышықәса анҵәамҭазтәи ажәытәӡатәи аҳаҭгәынқәа. Аҩбатәи агәыҧ иҭырҵаауеит Бзыҧ аӡиас армарахьтәи аҧшаҳәа 200 метра аҳаракыраҿы иҟоу аҳаҧ ду (адау Итәарҭа).

 

Бжьаниа иажәақәа рыла, „аҳаҧы рхы иадырхәон нхарҭаҵас ҳера ҟалаанӡа 4-тәи ашәышықәсазы; араҟа иҧшаан иҧҽу асаан маҭәа аҟәрҷахақәа“. 3-тәи ашәышықәсазы аҳаҧы рхы иадырхон ҧсыжырҭаҵас.

 

27.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь диҧылеит Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә Палата ахантәаҩы Сергеи Степашин

 

Аҧсны дааит Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә Палата ахантәаҩы Сергеи Степашин. Иахьа Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи Сергеи Степашини реиҧылара.

 

Аиҧылара иалахәын , иара убас, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамба.

 

Сергеи Степашин дымҩаҧыргон Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориеви Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә Палата аилазаара аиҳабы Николаи Столиарови.

 

„Степашин Аҧсны дырдыруеижьҭеи акрааҵуеит, иргәалашәоит 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа раани, иара убас  Урыстәыла Асоциалисттә Федеративтә Советтә Республика Иреиҳаӡоу асовет адепутатс даныҟази иааирҧшыз адгылара.“ Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Степашин ивизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәо, иазгәеиҭеит агәыҕра шимоу аҧхьаҟа иҵегьы еизааигәоу хырҳаралатәи аусеицура арҭбааразы.“

 

Сергеи Багаҧшь, иара убас иҳәеит Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә Палата аспециалистцәа рыцхыраарала ас еиҧш аилазаара Аҧсынгьы иаҧҵахап ҳәа дшақәгәыҕуа.

 

„Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҧсны аекономика аизҳара атемпқәа цәгьам, акыр еизырҳауп аҳәынҭбиуџьет. Иааиуа ашықәс азы иазгәаҭоуп, аҩныҵҟатәи ахашәалахәқәа рыла абиуџьет ҩ-миллиард мааҭ рҟынӡа аизырҳара“, - иҳәеит Багаҧшь.

 

„Ирацәоуп иахьа Аҧсны имҩаҧысуа аргыларақәа Урыстәыла иабзоураны.“, - иазгәеиҭеит Сергеи Багаҧшь.

 

„Сара Аҧсны саахьан аибашьра ҟалаанӡагьы.Ара сыҟан иара убас 1989 шықәса азы, ҧхынгәымзазтәи ахҭысқәа раан. Арахь аара сықәшәахьан 1993 шықса азы  Сергеи Шоигуи сареи,“ – иҳәеит Сергеи Степашин.

 

Урыстәылеи Аҧсни ишиашоу еимаздо амҩа аргылара апроект иахәҭоу акы акәны дахәаҧшуеит Сергеи Степашин. Араҟа зыӡбахә ҳәоу Кәыдры аиҩхаа иалганы Аахыҵ (Аҧсни) Нхыҵ (Домбаи, Ҟарачы-Черкессиеи) еимаздо амҩаду аргылароуп.

 

Анаҩс аиҧылара мҩаҧысуан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

 

24.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә Палата ахада еиликаауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рмаҵзура аҭагылазаашьақәа

 

Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палата аделегациа зхадараҿы дыҟоу уи ахантәаҩы Сергеи Степашин Аҧсныҟа раара  хықәкыс иамоуп Гудоуҭа иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә базеи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа аҳәаахьчаратә усбарҭеи раҭаара, уаҟа урҭ еилыркаауеит аҳәаахьчаҩцәа рмаҵзура аҭагылазаашьақәа. Абри азын адырра ҟарҵеит иахьа ахылаҧшратә усбарҭа апресс-маҵзураҟны.

 

Аҧхьаӡаратә плата аделегациа Аҧсныҟа раара апрограмма апунктқәа ируакыуп – Аҧсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палатеи рыбжьара аусеицура ахырхарҭа хадақәа рзы аҧкаанҵа анапаҵаҩра“, - азгәарҭеит апресс-маҵзураҟны. Ҧхынгәы 23-24 рзы иазгәаҭоуп, Сергеи Степашини Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи реиҧылара.

 

Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палата аколлегиа жьҭаарамзазы ишьақәнарҕәҕәеит 2009-2011 шықәсазтәи апалата аусура ахырхарҭа хадақәа. Аҳәынҭқарра аҿиара ахықәкқәеи аусхадақәеи инарықәыршәаны, Аҧхьаӡаратә палата аусура ахырхарҭа хадақәа ракәны иахәаҧшуеит Амилаҭтә план аларҵәареи акоррупциа аҿагылареи. Ари асоциалтә цәгьаҟаҵара аҿагыларазы ауснагӡатәқәа рплан инақәыршәаны, иара убас Урыстәыла Афедерациа аиҳабыреи апарламенти аус здырулаз ареидерҿагыларатә закәанқәа инарымаданы, аҧхьаӡаратә палата аҟны иаҧҵоуп аусҩтә гәыҧ.

 

Аҧхьаӡаратә палата 2009-2011 шықәсазтәи ахылаҧшратә усура хырхарҭақәа ируакыуп, адунеи афинанстә кризис аҭагылазаашьаҿы, атәыла афинанстә система ахылҿиаақәа рырҧсыҽра. Ас еиҧш аусура амҩаҧгаразы афинанстә хылаҧшра иреиҳау аусбарҭаҟны иаҧҵоуп аҧышәа змоу аспециалистцәа рхыҧхьаӡараҟынтә изыхәҭоу агәаҭаратә инспекциа. Аҧхьаӡаратә палата, иара убас аус хадақәа иреиуоуп – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыцхырааразы иаашьҭу абиуџьеттә хархәагақәа хылаҧшра рзура.

 

Степашин иазгәеиҭеит, „Урыстәыла Афедерациа Аҧхьаӡаратә палата Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыҟны афинанстә хылаҧшратә усбарҭа аҧҵаразы ацхыраара шыҟанаҵо“. Уи иара убасгьы иҳәеит, „ макьаназы ҳара еилагара ҳәа акагьы аабом, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыцхырааразы иаашьҭу афинансқәа ииашамқәа рхы иархәоуп ҳәа ҳҳәаратәы“.

 

23.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ҧхынгәы 23 – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы аҟны адырра злаҟарҵаз ала, ауаажәларратә еиҿкаара „Аҧсны ҿа“ Абираҟ амш иазкны Тҟәарчал имҩаҧнагоит акциеи аконцерти.

 

2005 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь инапы аҵаиҩит Аҧсны Жәлар Реизара иаднакылаз Азакәан „Ареспублика Аҧсны Азакәан аныҳәамшқәеи арыцхәқәеи рҟны аҧсахрақәеи ахаҭәаарақәеи ралагаларазы“. Убри амш инаркны, ҧхынгәы 23 ҧхьаӡоуп Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшны.

 

Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса, ҧхынгәы 23 рзы. Абираҟ авторс дамоуп – асахьаҭыхыҩ Валерии Гамгиа.

 

23.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 2009 ш. цәыббра 1 инаркны Аҧсны 11 категориа ирыҵаркуа атәанчаҩцәа рпенсиақәа ирыцҵахоит

 

Ҧхынгәы 22 рзы Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны „Ареспублика Аҧсны апенсионерцәа категориақәак рпенсиақәа рыцҵаразы“ актәи азакәан астатиа аҧсахрақәа алагалан. Азакәан амчра аиуеит 2009 шықәса цәыббра 1 инаркны.

 

„Қәралатәиатәанчаҩцәа рпенсиақәа 150 процент ирыцҵахоит, - ҳәа адырра ҟаиҵеит асоциалтә политикеи, аҭаацәеи, агәабзиарахьчареи, аџьеи рзы аилак ахантәабы Б.Џьопуа. – Цәыббра 1 инаркны, 200 мааҭ рцынхәрас 500 мааҭ роулоит. Уи азын иаҭаххоит 43 миллион мааҭ аҧара. Арҭ ахархәагақәа Ареспублика Апенсиатә фонд аҟны иҟоуп. Қәрала апенсиа зауа 33 –нызқьҩыуаак ыҟоуп.“

 

„Уи адагьы, рпенсиақәа ирыцҵахоит аҩнаҭа аныҟәгаҩ дызцәыӡыз аҭаацәарақәа – ахәыҷқәа ирызшәалахоит – 1000 мааҭ, егьырҭ аҭаацәа алахәцәа – 700 мааҭ“, - азгәеиҭеит Б.Џьопуа. – ас еиҧш иҟоу аҭаацәарақәа 1273 – ҩыуаак ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 600 – ҩыуаак хәыҷқәоуп“.

 

Иара убас, аредакциа зызуу азакәан ҿыц инақәыршәаны, есымза 200 мааҭ рзацҵахоит, акыр шықәса инеиҧынкыланы аус зухьоу, 600 мааҭ „жәлар „ рыхьӡ зҽаҧсазтәызи „зҽаҧсазтәыз аусзуҩы „ ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа змоу, 800 – мааҭ ашахтаусзуҩцәа, 2000 – мааҭ аибацәа; 150 мааҭ асоциалтә пенсиақәа зауа апенсионерцәа, 400 мааҭ – аџьа актәи агәыҧ аинвалидцәа, 300 мааҭи 150 мааҭи 1,2,3 агәыҧқәа змоу аинвалидцәа.

 

„Аҧхьаҟа ҳахәаҧшраны ҳаҟоуп алашәразы аинвалидцәеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа 1,2 агәыҧқәеи, ихәыҷаахыс ихымхәацәои рпенсиақәа рышьҭыхра азҵаара“, - ҳәа азгәеиҭеит аилак ахантәаҩы Беслан Џьопуа.

 

22.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Очамчыра араион атәанчаҩцәа рпенсиақәа аҩныҟа ирызнаргоит

 

Очамчыра араион атәанчаҩцәа рпенсиақәа аҩныҟа ирызнаргоит.

 

Араион Ахадараҟны излашьақәдырҕәҕәаз ала, ҩымз ҵуеит араионтә центр иацәыхароу ақыҭақәа,Аҵәахырҭатә банк аинкоссатортә машьына ала аҧара рызнаргоижьҭеи.

 

21.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Жәларбжьаратәи аҿартә форум „Форос.Аҧсны“ аҟны иқәгылара

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ихы алаирхәт, ҧхынгәы 15 рзы Пицунда имҩаҧысуаз, Жәларбжьаратәи аҿартә форум „Форос.Аҧсны“ аартра.
 

Афорум алахәцәа – Урыстәылеи, Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиареи, Аҧсни рҟынтә аҿартә еиҿкаарақәеи аеқспертцәеи рхаҭарнакцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьашьо иқәгылараҟны дазааҭгылеит:
 

„Ареспублика Аҧсны анапхгара рыхьӡалеи, хаҭалеи сареи, Жәларбжьаратәи аҿартә форум „Форос. Аҧсны“ алахәцәа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит“!
 

Зегь раҧхьаӡа иргыланы, ҭабуп ҳәа расҳәоит Афорум аиҿкааҩцәа – аполитикатә ҭҵаарақәа ринститут, „Иакыу Урыстәыла“ асоциал-консервативтә политика Ацентр, хаҭала Сергеи Алеқсандр-иҧа Маркови Дмитрии Владимир-иҧа Савельеви амчрақәа рхаҭарнакцәеи аҿари еиҿцәажәартә еиҧш аҭагылазаашьа аҧызҵаз.
 

Иазгәаҭоу азҵаарақәа рактуалра рыҩаӡара акыр иҳаракыуп, аҿар рроль акәзар, иахьа адунеитә кризиси аглобальтә еиндаҭлареи рҭагылазаашьаҿы еиҳагьы иҳаракхеит.
 

Аҿыц знеишьақәеи аинформациатә технологиақәа раларҵәареи, аекономикаҿи, ааглыхраҿи, анапхгараҭараҿи аҳәаанырцәтәи аҧышәа ахархәара – ари зегьы зус бзианы издыруа аҿар ирыбзоуроуп.
 

Иахьазы ихадароуп аҿар рыбжьара аполитикатә лидерцәа рышьақәгылара, аелита реиҭныҧсахлара, иҳәатәуп, иахьа акризис ахыҵхырҭақәа ишыруакыу адунеитә финанстә - политикатә система ашьақәхара. Аинтеллектуалтә беиара амаршәакра аҵак ҷыда амоуп. Аҿар аидеиа ҿыцқәа раҧҵара иазхиоуп – ари ҳаамҭазтәи аполитикеи аекономикеи рзы иреиҳау лагалоуп. Уи аҳәынҭқарра иҭышәынтәаланы аҿиара иацхраауеит. Аҿар рнапы иануп аҭоурыхи акультуеи реиқәырхара, аиҳабацәа рыҧсҭазаара, ииуа абиҧарақәа рҧеиҧш.
 

Аҳәынҭқарра ,аҿар раҧшьгамҭақәа ирхаҵгылароуп. Еиҵагыло абиҧарақәа рылахәзароуп атәылаҿы имҩаҧысуа аиҭакрақәеи аҳәынҭқарратә политика ашьақәыргылареи.
 

Убри инамаданы ихадоуп аҿартә ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи русеицура, аҿар анапхгараҭарахь рнагара. Аҧсназы аҿар рпотенциал аҵак ҷыда амоуп, урҭ роуп аҧхьаҟа ҳҳәынҭқарра иауасхырхо, ҳаамҭазтәи адунеи ааҧхьарақәа здызкыло.
 

Аҧсны жәлар рҭоурых – шәышықәсала ахьыҧшымраз ақәҧароуп.
 

Иаҳхысыз ашықәс, нанҳәамзазы акыр аамҭа ҳаззыҧшым ахьыҧшымра ҳауит.
 

Урыстәыла афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара ари ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны қәҵәиааратә етап ҿыцны иҟалеит, уи иара убас анырра ҟанаҵеит апроцесс дуқәеи жәларбжьаратәи аполитикеи рымҩаҧысшьаҿы. Жәларбжьаратәи азхаҵара алыршареи наҟ-ааҟ хырҳара злоу аполитикатәи аекономикатәи еимадарақәа рыҿиара аиҧш иҟоу ахырхарҭа хадақәа ирықәныҟәауа атәыла адәныҟаполитикатә мҩа аформа ҿыцқәа аанахәеит.
 

Иахьа Аҧсны – зых иақәитҭу идемократиатәу ҳәынҭқарроуп. Ҳажәлар маҷ рҿаҧхьа иқәгылоуп ахықәк дуқәа, уи анагӡараз ,хәҭакахьала, аҭакҧхықәра рыдуп аҿар. Абиҧара ҿа атәыла аиҭакразы, рыкәша-мыкәша еиҕьу аганахьала аиҭакразы здаҟам алшарақәа рымоуп. Уи азын иаҭахыуп аҿар аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи политикатәи ҧсҭазаара активла ралархәра.
 

Аҿар рполитика апроблемақәа знапы рылакыу амчратә усбарҭақәа, анапхгараҭара егьырҭ аусбарҭақәа ирылархәлатәуп аҿар реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа арҭ ахықәкқәа рынагӡаразы.
 

Убри инамаданы иазгәасҭоит, иаарласны „Аҿар рҳәынҭқарратә политиказы азакәан“ шрыдкылахо. Уи ишьақәнаргылоит азинтәи асоциал-економикатәи ҭагылазаашьақәа. Ауаҩ қәҧш ихаҭара аарҧшразы амҩақәа аанартуеит, иагьарҿиоит аҿар реиҿкаарақәеи, рхеидкылақәеи.
 

Ҳаҭыр зқәу Афорум алахәцәеи, асасцәеи!
 

Сара агәра ганы сыҟоуп, аиҧыларақәа рҟны аус зыдулахо аӡбарақәеи аҧшьгарақәеи аҿартә политика аусхк аҟны Урыстәылеи Аҧсни русеицуреи реиҿцаарақәеи рырҭбаара ишацхраауа ала. Шәара шәдырреи, шәҟыбаҩи, шәгәамчи алшара шәырҭоит аҧхьаҟатәи аҧеиҧшазы ииашоу ашьаҿақәа рыҟаҵаразы“.
 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Афорум алахәцәа ирзеиҕьеишьеит даҽазныкгьы ақәҿиарақәеи, аҧсшьара зҩыдеи!.

 

21.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Урыстәылеи Рхәҳахәҭра-ааглыхратә палатақәа аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

 

Ҧхынгәы 16 рзы, Москва анапы аҵаҩын Урыстәыла Афедерациа Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Аҧсны Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи рыбжьара Аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.
 

Урыстәыла аганахьала адокәмент инапы аҵаиҩит Ахәҳахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент ихаҭыҧуаҩ Борис Пастухов, Аҧсны аганахьала Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент Геннади Гагәлиа.
 

Анапаҵаҩра ацеремониа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Урыстәыла Афедерациа Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент Евгении Примакови Урыстәыла Афедерациа Ахәҳахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент ихаҭыҧуаҩ Георгии Петрови.
 

„Ҳара ҿыц ихацҳаркуам аҧсуа Палатеи ҳареи ҳусеицура. Иҳамоуп аусеицуразы аҧышәа Аахыҵ Афедералтә округ Ахәҳахәҭра—ааглыхратә палата Ассоциациа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ҳтәылақәа рхәҳахәҭцәа уажәшьҭа ирзымариоуп ҩ-ганктәи аусеицура рыбжьаҵара, - иҳәеит Б.Пастухов, - Иахьа ихацыркыуп аусеицуразы аетап ҿыц ҩ-тәылак рпалатақәа рыбжьареи аус знапы алакыу рыбжьареи. Аиқәшаҳаҭра – ари зегьы раҧхьаӡа иргыланы, абизнес апотенциал ахархәароуп... Ари аиқәшаҳаҭра – Урыстәылатәии Аҧснытәии абизнесқәа рымҩа аанартуеит“.
 

Анапы зҵаҩу Аиқәшаҳаҭра иазҧхьагәанаҭоит ахәҳахәҭра-економикатәи, аҵарадырра-техникатәи уҳәа иара убас ахәҳахәҭыҩцәа рыбжьара аусуҩтә еимадарақәа рышьақәыргылара иацхраауеит.
 

„Ҳара ҳзын акраҵанакуеит Урыстәыла Афедерациа Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи ҳареи  ҳабжьара ишьақәгылаз апартниортә еизыҟазаашьақәа. Ас еиҧш апартниор, зтәылаҿы адагьы, адунеи зегьы аҟны аҧышәеи авторитети змоу ицхыраара ҳара ҳзын хә-амаӡам. Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра – Урыстәылеи Аҧсни апалатақәа рыбжьароа ишьақәгылахьаз аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырҭбаареи рзы шьаҿа хадоуп“, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит, аиҧылара алыҵшәақәа рзы Аҧсуа Палата Апрезидент Геннадии Гагәлиа.

 

18.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа Аҧсны аанрыжьит ООН арратә наҧшцәа 7-ҩыуаак, урҭ рхыҧхьаӡараҟны дыҟоуп арратә наҧшҩы хада аинрал Анвар Хәсеин

 

Иахьа , ашьыжь Аҧсны аанрыжьит ООН арратә наҧшцәа 7-ҩыуаак, урҭ рхыҧхьаӡараҟны дыҟоуп арратә наҧшҩы хада аинрал Анвар Хәсеин. Уажәшьҭа ареспблика атерриториаҟны иҟам ООН Амиссиа арратә наҧшцәеи иара убас аполициеи.
 

Иаарласны, Аҧсны аанрыжьуеит аполитикатә офиси, ауаҩы изинқәа рзы аофиси русзуҩцәа. Иаанхоит Амиссиа аҧыхра иаҿу акоманда.

 

16.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь диҧылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда ихаҭыҧуаҩ

 

Ҧхынгәы 15 рзы , Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда ихаҭыҧуаҩ Џьозеф Стефанидис. Аҧсны ООН Амиссиа аусура ахыркәшара инамаданы, адипломат Аҳәынҭқарра Ахада диҭааит абзиараз ҳәа иаҳәаразы.
 

С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны анапхгара ООН Амиссиа аусура ахьыхнаркәшо  шхьаарго. „Ҳара ҳазҿлымҳан ҳтерриториаҟны шәара шәмиссиа ааныжьра, аха тәылақәак,Қырҭтәыла аган иадызцәылоз рпозициа, ООН Ашәарҭадара Ахеилак абас еиҧш аӡбара аднакылартә еиҧш иҟалеит“. Аҳәынҭқарра Ахада, ООН Амиссиа аусзуҩцәеи хаҭала апатын Стефанидиси ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны атерриториаҟны инарыгӡоз русуразы“.
 

Иара убас, Џьозеф Стефанидисгьы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадеи, ареспблика анапхгареи ООН амиссиа иазыҟарҵоз ацхырааразы.

 

16.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ҧхынгәы 17 рзы иаатуеит есышықәсатәи аклассикатә музыка Афестиваль „Хьыбла Герзмаа шәналыҧхьоит...“

 

Ҧхынгәы 17 рзы Ражьден Гәмба ихьӡ зхыу Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иаатуеит есышықәсатәи аклассикатә музыка Афестиваль „Хьыбла Герзмаа шәналыҧхьоит...“
 

Афестиваль апрограммаҟны – аоператәи аџьазтәи композициақәеи, Хьыбла Герзмаа лынагӡарала аблиуз, иара убасгьы аџьазтә концерт Даниил Крамер итрио.
 

Аҧсны акультура аминистрра аҟынтә адырра злаҟарҵаз ала, ҧхынгәы 21 рзы имҩаҧысуеит атрадициатә концерт, уаҟа Хьыбла Герзмаа ахәаҧшцәа идылырдыруеит Урыстәыла иреиҳау амузыкатә ҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо Аҧснынтәи астудентцәа.
 

Иазгәаҭатәуп, уаанӡа афестиваль шымҩаҧыслоз Пицундатәи ауахәама аҟны.

 

15.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 НАТО аҟны Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Дмитрии Рогозин усуҩтә визитла Аҧсны даҭааит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь аҩашаҽны, ҧхынгәы 14 рзы, Аҟәа диҧылеит НАТО аҟны Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Дмитрии Рогозин. Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Нугзар Ашәба, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.
 

Аиҧылараҟны ирзааҭгылан аурыс-аҧсуа усеицуразы инарҭбаау азҵаатәқәа.
 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, Дмитрии Рогозин ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит, ивизит иалагӡаны даҭаарц игәы ишҭоу  Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рмаҵзура ахьырхырго аҭыҧқәа, насгьы иҭиҵаарц игәы ишҭоу амаҵзура ахысразы ҭагылазаашьақәас ирымоу. Урыстәылатәи аполитик рыҩаӡара ҳаракны ишьеит Аҧсни Урыстәыла Афедерациеи рҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа, агәыҕра шимоугьы иҳәеит аринахыс иҵегьы иҕәҕәахап ҳәа.
 

Дмитрии Рогозин инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсныҟа ивизит шымҩаҧысуа Урыстәыла –НАТО рсаммит аламҭалазы, уи аатуеит Бриуссель ҧхынгәы 22 рзы.

 

15.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН амиссиа Галтәи ахыбраҟны имҩаҧысит ахҭысқәа раҧырҟәҟааразы хә-ганктәи аиҧылара

 

Ҧхынгәы 14 рзы, ООН амиссиа Галтәи ахыбраҟны имҩаҧысит ахҭысқәа раҧырҟәҟәааразы хә-ганктәи аиҧылара. Уи мҩаҧысит, ҧхынгәы 1 азы, Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи аицәажәарақәа афбатәи рраунд аҟны иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.
 

Аҧсуа делегациа аилазаараҟны иҟан: Аҳәынҭқарра Ахада Гал араион аҟны инапынҵақәа назыгӡо Руслан Кьышьмариа, (аделегациа ахада), Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Гәнџьиа, Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба.
 

Ақырҭуа делегациа иалахәын, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә департамент аиҳабы Шота Утиашвили, ареинтеграциа аминистрра аусзуҩ Давид Раҟвиашвили, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Ҭенгиз Гунава.
 

Урыстәыла аганахьала аиҧылара иалахәын, Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра абжьагаҩ хада Василии Корчмар, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыҧуаҩ Владимир Боголиубов, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Иурии Звирык.
 

Аиҧылара мҩаҧысуан ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке ихантәаҩрала. ООН аҟынтә иара убасгьы иалахәын амиссиа аполитабжьгаҩцәа Хаилу Мамои Атанас Балтови. Евроеидгыла аҟынтә иалахәын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла амиссиа ахада Ханс Иорг Хабер.
 

„Иахьа имҩаҧысит хә-ганктәи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны абжьгарақәа рзы аиҧылара. Уаҳа даҽа зҵаатәқәак араҟа ҳрыламцәажәаӡеит“, -ҳәа аиҧылара анхыркәшаха ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Максим Ҕәнџьиа.
 

Иара иажәақәа рыла, ахҭысқәа раҧырҟәҟәаара амеханизм аус адуларазы анаҩстәи аиҧылара ҟалоит ҧхынгәы 28 рзы Гал. Уи ишьақәирҕәҕәеит, хә-ганктәи аиҧыларақәа ҩ-мчыбжьа рахь знык, ҩашала амҩаҧгаразы аганқәа шеиқәшаҳаҭхаз.
 

Аҧсны ООН амиссиа амандат шаанкылоугьы, аиҧылара мҩаҧыслоит ООН ахыбраҟны, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке ихантәаҩрала“, - ҳәа азгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ.
 

Ақырҭуа хаҭарнакцәа аиҧыларақәа Гали Жәыргьыҭи еиҭныҧсахланы рымҩаҧгаразы ажәалагалақәа ҟарҵеит, аха аҧсуа ган уи иақәшаҳаҭымхеит.
 

Аганқәа иара убасгьы еиқәшаҳаҭхеит анаҩстәи аиҧыларақәа рылахәцәа рхыҧхьаӡаразы, уи шьақәдыргылеит – 4 –ҩыуаак инадыркны 6 –ҩыуаак рҟынӡа ганы цыҧхьаӡа рыҟнытә. Аҧсуа делегациа напхгара аиҭалоит Аҳәынҭқарра Ахада Гал араион аҟны инапынҵақәа назыгӡо Руслан Кьышьмариа, ақырҭуа – Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә департамент аиҳабы Шота Утиашвили.
 

„Анаҩстәи аиҧыларақәа рҟны, Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәаақәа рҟны аибарххара аҧырҟәҟәаара азҵаатәқәа ирызкхоит“, - ҳәа азгәеиҭеит Мақсим Ҕәнџьиа.
 

Аҧсуа ган алахәцәа, иахьатәи аиҧылара хырҳара аланы иазгәарҭоит, иагьазырыҧхьаӡоит, ас еиҧш амеханизм аус аулароуп аҳәаа иаҧну араионқәа рыҟны аҭыҧ змоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы ҳәа.

 

15.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гал имҩаҧысуеит ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы ахҭысқәа раҧырҟәҟәаара амеханизм аус адуларазы аиҧылара

 

Гал, ООН амиссиа иатәыз ахыбраҿы, аҩашаҽны,  имҩаҧысит ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы ахҭысқәа раҧырҟәҟәаара амеханизм аус адуларазы аиҧылара. Хә-ганктәи аиҧылара иалахәуп ақырҭуа аҧсуа ганқәеи, ООН-и, Евроеидгылеи, Урыстәылеи рхаҭарнакцәа.
 

Аимак азонаҟны ахҭысқәа раҧырҟәҟаара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны актәи аиҧылара Гал араион аҟны амҩаҧгаразы аиқәшаҳаҭра алыршан, ҳазныу ашықәс, ҧхынгәымза 1 азы  Женеватәи аицәажәарақәа афбатәи рраунд аҟны.
 

Аҧсуа ган аҟынтә аиҧылара иалахәуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гал араион аҟны инапынҵа ҷыдақәа назыгӡо Руслан Кьышьмариа, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба.
 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба иажәақәа рыла, „Ҳара гәҭакыс иҳамоуп, ООН амиссиа анаҧшцәа аимак азона аҟынтә ианалгахалак ашьҭахь, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵразы амҩақәа рыҧшаареи, иара убасгьы аимак азонаҿы ахҭысқәа раҧырҟәҟааразы амеханизм алыҵшәа аманы ахархәаразы аҭагылазаашьақәа раҧҵареи“. „Аиҧыларақәа зегьы мап рыцәкра мариоуп, ҳара ҳхықәкы хадақәа иреиуоуп арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәара“, - азгәеиҭеит аминистр.

 

14.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Апарламент аҟны имҩаҧысит Ҭырқәтәылантәи иааз аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа ргәыҧи адепутатцәеи реиҧылара

 

19 инаркны 27 шықәсанӡа зхыҵуа арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи аҭааит рҭоурыхтә Ҧсадгьыл. Аиҧылара еиҿикааит аџьынџьуаа рымадарақәа рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Сенер Гогәуа.
 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба асасцәеи адепутатцәеи еибаирдырит, ирзеиҭеиҳәеит апарламент аусура атәи, еиқәшаҳаҭрақәас иҟаҵои, ареспублика аекономикатә ҿиареи ртәы.
 

Ашәба иазгәеиҭеит, „аҧсуаа ахьыҟазаалакгьы Ареспублика Аҧсны атәылауаҩ изинқәа зегьы рымоуп ҳәа“. „Аха убри инаваргыланы уи ирыднаҵоит ауалҧшьақәагьы. Убри азын зегьы ааҧхьара шәысҭоит шәабдуцәа рыҧсадгьыл ахь шәгьежьразы, аҳәынҭқарра арҿиареи аргылареи шәҽалашәырхәразы“, - иҳәеит Апарламент Ахада.
 

„Ҳара иаҳҭахым ҳаҧсадгьыл ахь туристцәақәак раҳасабала амҩахыҵра. Иаҳҭахыуп, ҳагьашьҭоуп ҳхылҵышьҭрақәа Рыҧсадгьыл ахь агьежьра“, - ҳәа рҳәон арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рықәгыларақәа рҟны.
 

Ирацәаҩуп урҭ рҟынтә иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵои иалгахьои., урҭ ҭырқәшәалоуп уаҟа аҵара шырҵаз. Аҧсуеи аурыс бызшәеи рзымдырра араҟа.

 

13.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН Амиссиа есымшагьы ианыруан Аҧсуа мчрақәа рганахьала адгылара , - Девид Харланд

 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Н.Ашәба диҧылеит абжьаҟазаратә операциақәа рзы ООН адепартамент Европеи Латинтәи Америкеи рыҟәша аиҳабы Девид Харланд.
 

„Сара сеигәырҕьоит ихьыҧшым ҳтәылахь шәымҩахыҵра. Ҳара изныкымкәа аиҧыларақәа мҩаҧаагахьеит. Сара сазыхиоуп иконструктивтәу аиҿцәажәара амҩаҧгара“, - иҳәеит Ашәба, бзиала уаабеит ҳәа асас диҧылауа.
 

Адипломат иҳәеит, иаара шадҳәалоу „амиссиа ахыркәшара апроцесс ацхыраара аҭареи, арҭ ашықәсқәа зегьы ООН амиссиа аусраҿы ацхыраара азҭоз аҧсуа мрақәа ҭабуп ҳәа раҳәареи рзы шакәу“. „Арҭ иуадаҩыз аамҭақәан, аха ҳара есымшагьы иаҳныруан шәара иаашәырҧшуаз адгылара. Аха, уажәшьҭа ари аҭоурых ахқәа руак ахыркәшарахь инеит“, - азгәеиҭеит Харланд, убри аан уи иазгәеиҭеит „Аҟәа даара ишыҧшӡахаз, насгьы ишыуныруа иҭышәынтәалоу аҧсҭазаарахь агьежьра“.

 

Апарламент Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Девид Харланд Ареспублика Аҧсны атерриториаҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рпроцесс аҟны ООН амиссиа ахылаҧшцәа рлагала ду азы. „Амиссиа арратә напхгареи, иара убасгьы уи амаҵзуцәа зегьи еилфаҷа инарыгӡон рнапынҵақәа зегьы. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара шәпрофессионализмра“,- иҳәеит Ашәба.
 

Иара иажәақәа рыла, ООН амиссиеи Урыстәылатәи абжьаҟазацәеи ирыбзоураны Аҧсны аҭынчра еиқәханы иҟан. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы иазгәеиҭеит Аҧсны аиҭакра ҿыцқәа. „Ҳара Урыстәыла Афедерациа аҟынтә адгылара ҳауит, аҭынчрагьы еиҳа уаҩы дақәгәыҕыртә иҟалеит. 17 шықәса раахыс ҳауаажәлар раҧхьаӡа акәны ҭынч итәо игыло иҟалеит. Урыстәыла аАфедерациеи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа акыр ҳабжьаҳҵеит, хәҭакахьала, Аҳәынҭҳәаа еицеилахәны ахьчаразы аиқәшаҳаҭра“,- иҳәеит Ашәба.
 

Ашәба игәаанагарала, ООН амиссиа аусура иацнаҵарц алшон, ООН Ашәарҭадара Ахеилак зҽызыҧсахыз аҭагылазаашьа ҿыцқәа ҳасаб рызнаузҭгьы, насгьы Амиссиа ахьӡи амандати аҧсахра иақәшаҳаҭхазҭгьы.
 

Н.Ашәба ишьақәирҕәҕәеит, мраҭашәаратәи атәылақәа акыр Аҧсны аиҭакра ҿыцқәа тәамбашақә ишырзыҟоугьы, Аҧсны амчрақәа шазыхиоу даҽа хырхарҭа ҿыцқәак рыла ООН амиссиа аус ацура.
 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Девид Харланд дзызҿлымҳаз азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

 

09.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны ахаҭарнакцәа Европа Ахеилак Германиа иеиҿнакааз „Аҭынчра алагер“ ахь ацаразы авизақәа рырымҭеит

 

Ҧхынгәы 5 инаркны 12 – нӡа аҿар рзы Европа Ахеилак Германиа еиҿнакааит  аимакқәа рҭышәныртәаларазы „Аҭынчра алагер“. Аҧснынытәи аҿар авизақәа рыҭараз  мап ахьрыцәкыз инамаданы алагер ахь изымцеит.
 

Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны ацеиҳабы Аида Ладариа адырра злаҟалҵаз ала, ҩымз раҧхьа, раҧхьаӡа акәны Европа Ахеилак Германиатәи „Европа апарк“ алахәны еиҿнакааз аиҧыларахь ааҧхьара ҳарҭеит. Ари алагер иалахәхараны иҟан Палестина, Кипр, Нхыҵ Кипр, Қырҭтәыла, Аҧсны, Аахыҵ Уаҧстәыла рхаҭарнакцәа.“.
 

„Ҳара ари ааҧхьара ҳаигәырҕьеит, избанзар уи аҧсуа ҿар жәларбжьаратәи ауаажәларра рҿаҧхьа рҿахәы аҳәаразы аҭагылазаашьа рнаҭон.Рыцҳарас иҟалаз, адунеи аҟны, аимак азы ганкы мацароуп згәаанагара раҳауа, хықәкыла Қырҭтәыла“, - лҳәеит Аида Ладариа. Лара лажәақәа рыла, аҧсуа ган ахаҭарнакцәа аиҿкааҩцәы ргәы рҽанырҵахьан, изныкымкәа Аҧсны атәылауаа авизақәа риуразы мап шырцәыркхьаз ала, аха агәра ддыргеит, уадаҩра ҳәа акагьы шыҟамло ала. Раҧхьаӡа ааҧхьара рыҭан, 10 ҩыуаак аҿари напхгаҩыки, нас аиҿкааҩцәа рыҧҟаррақәа еиҭа рыҧсахит, аҿар рхаҭарнакцәа хҩыки, напхгаҩыки ҳәа шьақәдыргылеит. Убри аан, Қырҭтәылантә 6 –ҩыуаак ааҧхьара рырҭеит.
 

Аида Ладариа инаҵшьны иазгәалҭеит, Аҧснытәи аделегациа ианаамҭаз  авизақәа риуразы рдокәментқәа Москваҟа ишдәықәырҵаз ала. Аха, аҵыхәтәан еилкаахеит Германиеи Франциеи рыцҳаражәҳәарҭақәа мап шацәыркыз.
 

„Иџьашьатәуп, Европа Ахеилак еиҧш акыр зылшо, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рделегациақәа  ари алагер алахәхара аиҿкаара ахьрылымшаз.“
 

Аимкқәа рҭышәныртәалареи реиҭакреи рзы„Аҭынчра алагер“  – ари аҩыза аҧшьгара аҧҵан 2003 шықәса рзы, хықәкысгьы иамоуп Европеи уи агәларатә регионқәеи рҟынтә аҿар аимакқәа рыӡбара ралархәра.

 

07.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Шамбеи ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак ахаҭарнакцәеи ирылацәажәеит ашколқәеи, аҩнқәеи реиҭашьақәыргылара апроектқәа

 

Иахьа имҩаҧысит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамбеи Азиеи Кавкази рҟны ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак арегионалтә диреқтор, аҳкәажә Марарет Виккии Аҧсны иҟоу ахҵацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак ахада Игор Шантефои реиҧылара.
 

Аиҧылараҟны ирылацәажәеит 2009 шықәса рзыпланла иарбоу ,аҩнқәеи, ашколқәеи ахыбқәеи реиҭашьақәыргылара хырхарҭас измоу апроектқәа.
 

Очамчыреи Гали араионқәа рқыҭақәа рҟны аҭагылазаашьа анҭырҵаа ашьҭахь, ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак имҩаҧнагарц иазҧхьагәанаҭеит ирбгоу ахыбрақәа реиҭашьақәыргылареи, иара убасгьы аҭаацәа рзы акоттеџьқәа рыргылареи. Асасцәа излазгәарҭаз ала, 30 коттеџь рҟынӡа рыргылара азҧхьагәаҭоуп.
 

Аҳкәажә Викки лажәақәа рыла, Аҧсны имҩаҧысуа апроектқәа финансла реиқәыршәара акыр ишьҭыхыуп. Иахьазы уи иартәоит 1,8 мииллион доллар. Ахҵацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак имҩаҧнаго апрограммақәа раларҵәараҿы Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра иҟанаҵо ацхыраара ҭабуп ҳәа ахырҳәааит.
 

С.Шамба ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Ахеилак аҳаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны иаладырҵәо апроектқәа рзы, уи агәра диргеит аринахысгьы Аҧсны анапхгара агәҳалалратә проектқәа алазырҵәо жәларбжьаратәи аилазаарақәа зегьы ацхыраара шрырҭало ала.

 

03.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дырҭааит аӡхыҵра иахҟьаны ааха зауыз Очамчыреи Тҟәарчали рраионқәа

 

Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, аӡхыҵра иахҟьаны ааха ҕәҕәа зауыз Тҟәарчали Очамчыреи рраионқәа реиланхарҭа ҭыҧқәа дырҭааит.
 

Багаҧшь иҭиҵааит Тамшь ақыҭа аҭагылазаашьа, аӡхыҵра иахҟьаны аҩма ааха ҕәҕәа ахьаҭоу, - ҳәа Аҧсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит амассатә информациатә хархәагақәа рҟны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак К.Бжьаниа.
 

Тҟәарчал араион аҟны акәзар, аӡиас Аалӡга ахыҵра иахҟьаны, амҩаду хада аҿыбгараз ашәара ыҟан. Тҟәарчал ақалақь аҩныҵҟа ақалақьтәи аҩныҵҟатәи амҩадуқәа аҧхасҭа рыҭоуп.
 

„Тҟәарчал, аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ааха зауыз амҩадуқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит. Аҧсны аиҳабыреи „Аҧсныҧшаҳәахьчареи“ рнапы ианҵоуп аҧсабаратә ааха ирнаҭаз аҧхасҭа ашьақәыргылареи, иара убасгьы амҩадуқәа ишахәҭоу еиҧш рышьақәыргыларзи, аӡиасқәа рыҧшаҳәақәа рырҕәҕәареи рзы аусмҩаҧгатәқәа реиқәыҧхьаӡа шьақәдыргыларазы““, - иазгәеиҭеит Бжьаниа.
 

Аҳәынҭқарра Ахада даҭааны ибеит Тҟәарчал иҟоу ахәыҷтәы баҳча заҵәы, уаҟа иахьазы имҩаҧысуеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, дыҟан иара убас ачазауад аҟны.
 

Очамчыра, Аҳәынҭқарра Ахада даҭааит 6-тәи амикрораион, уаҟа уи еилыркаан аҩнеихагылақәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара амҩаҧысшьеи, аӡымҩангага ҿыцқәеи, фымцалашаралеи реиқәыршәара аҭагылазаашьеи.
 

Аҳәынҭқарра Ахада иныҟәараҿы ицын аҧыза-министр А.Анқәаб, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Б.Кәбраа, аҳәынҭеилахәыра „Аҧсныҧшаҳәахьчара“ адиреқтор хада М. Хачлаа, „Аҧсныавтомҩа“ адиректор хада Л.Лолуа.
 

Аҳәынҭқарра Ахада Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рҟны имҩаҧигеит актив реилатәара.

 

03.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Женева иалыршоуп, ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы ахҭысқәа раҧырҟәҟәааразы, Гал хә-ганктәи аиҧылара амҩаҧгаразы аиқәшаҳаҭра

 

Аахыҵ Кавказ аҭагылазаашьазы Женеватәи аицәажәарақәа рҟны иалыршоуп, ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы, ҧхынгәымза 14 рзы Гал ақалақь аҟны хә-ганктәи аиҧылара амҩаҧгаразы аиқәшаҳаҭра. Абри азы адырра ҟаиҵеит иахьа, Женева иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа.
 

Европатәи Аидгылеи, ООН-и ОБСЕ-и рыцхантәаҩрала имҩаҧысуа Женеватәи аицәажәарақәа ирылахәын Аҧсныи, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи, Америка Еидҵоу Аштатқәеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟынтә аделегациақәа.
 

Жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикбеи, аҧсуа-абаза жәларқәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа анагӡаратә еилакы алахәыла Зеки Қапбеи ашәарҭадара апроблемақәа рзы агәыҧ аҟны аус руан.
 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиеи, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агрбеи алахәын ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы агәыҧ аусура.
 

„Агәманитартә зҵаарақәа рзы ҳара ажәалагалақәа жәпакы наҳгеит, хәҭакахьала ахҵәацәа рыргьежьра азҵаареи, урҭ ашәҟәы рҭагалареи, ирцәыӡыз аргьежьреи уҳәа жәпакы азҵаарақәа. Аицәажәарақәа реиҿкааҩцәа ҳажәалагалақәа рыдыркылеит“, - азгәеиҭеит адипломат.

 

02.07.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада