AҦCУAA  PЫБЖbbI

                                   -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт



 
 Аҳәынҭқаррақәа Венесуелеи Аҧсни Рхадацәа рнапы аҵарҩит аусеицура ахацыркразы еицыҟаҵоу Аҳәамҭа

 

Ахәашаҽны, ҧхынгәы 23 рзы 18.00 сааҭ рзы, венесуелтәи аамҭала (02.30) рзы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь днеиит Мирафлорес ахан аҟны. (Венесуела апрезидент ирезиденциаҟны). Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада диҧылеит Венесуела Апрезидент Уго Чавес, - ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа.

 

Аиҧылара ашьҭахь, аҩ-ҳәынҭқаррақәак рхадацәа Амилаҭтә гвардиа Аҳаҭыртә ҟарул ирылсит. Ацеремониа ашьҭахь имҩаҧысит аҳәынҭқаррақәа Рхадацәа Чавеси Багаҧшьи злахәыз инарҭбаау аиҧылара, уаҟа иалахын иара убас аҧсуа делегациа алахәцәеи, адкылара агани.

 

Мирафлорес ахан аҟны Венесуелеи Аҧсни Рхадацәа рнапы аҵарҩит аусеицура ахацыркразы еицыҟаҵоу Аҳәамҭа.

 

Анаҩс, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, аҳәынҭқаррақәа рхадацәа алархәны, рнапы аҵарҩит: аиҩызареи аусецуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра, аполитикатә еицәажәарақәа рхацыркразы Аиқәшаҳаҭра.

 

Аицәажәарақәа рхыркәшамҭаз Боливарниисктәи Ареспублика Венесуелеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рхадацәа аиҧыларақәа рылҵшәазы имҩаҧыргеит апресс-конференциа.

 

Сергеи Багаҧшь ҭабуп ҳәа рхиҳәааит Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵареи, аҧсуа делегациа ирзыҟарҵаз адкылареи рзы. Уи иазгәеиҭеит ари авизит ахырҳара ду, агәыҕрагьы ааирҧшит ҩ-ганктәи адокәментқәа рнапаҵаҩра иарласып ҳәа аҧсуа-венесуелатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара.

 

Уго Чавес аҳәамҭа ҟаиҵеит, аусхкқәа зегьы рыҟны Аҧсны адгылара шарҭо азы, иара убас Аҧсуа ҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара азҵаараҟны ишазыхиоу аполитикатә цхыраара.

 

Апресс-конференциа ахыркәшара ашьҭахь, Уго Чавеси Сергеи Багаҧшьи иофициалтәым аицәажәарақәа мҩаҧыргеит.

 

Ҧхынгәы 25 рзы Аҧсны аделегациа Каракасынтәи Аҟәаҟа иҧыруеит, - иҳәеит Кристиан Бжьаниа.

 

24.07.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылантә Аҧсныҟа иаагоуп агәҳалалратә еидара

 

Асабшаҽны, ҧхынгәы 3 рзы, Урыстәылантә Аҧсныҟа иааргеит агәҳалалратә еидара.

 

Урыстәыла Афедерациа иаднакылаз аӡбарала, Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу 18 машьына Аҟәаҟа иааргеит афатә аалыҵқәа, аргыларатә материалқәа, ахәҷқәа рыфатә, урҭ еихшахоит ареспублика араионқәа зегь рыҟны еиҳа зҭагылазаашьа бааҧсу ауааҧсыра рыбжьара. Абри азы адырра ҟарҵоит Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура аҟынтә.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, ҧхынгәы 1 азы, В.Г.Арӡынба ихьӡ зхыу жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҟны иштәаз 40 тонна агәҳалалратә еидара зқәыз аҳаирплан ИЛ-87.

 

Урыстәыла, уаанӡагьы ареспублика акырынтә агәҳалалратә цхыраара азыҟанаҵахьан. Жьырныҳәамзазы, ареспубликахь иаашьҭын Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа азы амца-аҽацәыхьчаратә техникақәа 10.

 

Уажәтәи агҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспубликахь иаагоуп 280 тонна еиуеиҧшым аидарақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны ашьақар, аҧсыӡи акәаци зҭоу аконсервтә банкақәа, ахәшәқәа, амедицинатә еиқәыршәагақәа.

 

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбрҭа аиҳабы Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, иазҧхьагәаҭоуп агәҳалалратә цхыраара аихшаразы иҷыдоу акомиссиа аҧҵара.

 

Урыстәыла Афедерациа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра жәларбжьаратәи аусура адепартамент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Валерии Шуиков иажәақәа рыла, акциа иацҵахоит ҳазҭоу ашықәс ҭагалан.Усҟан Аҧсныҟа иаагахоит афатәқәа, аҧха маҭәақәа уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Иахьа автоколонна Аҟәантәи Москваҟа ицеит.

 

05.07.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла аиҳабыра Аҧсны агәҳалалратә цхыраара азыҟарҵеит

 

Урыстәыла аиҳабыра Аҧсны агәҳалалратә цхыраара азыҟарҵеит. Аҧшьаша, ҧхынгәы 1 азы, В.Г.Арӡынба ихьӡ зхыу жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҟны итәеит аҳаирплан ИЛ-87.

 

Уи иаанагеит 40 тонна агәҳалалратә еидара – ахәшәқәа, амедицинатә еиқәыршәагақәа, афатәқәа уҳәа убас егьырҭгьы. Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа апресс-маҵзура адырраҭарала, ари ацхыраара зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рзеихшара азҧхьагәаҭоуп.

 

Аҟәатәи аҳаирбаҕәазаҟны аҳаирплан иаҧылеит Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа аиҳабы Лев Кәыҵниа.

 

Иаарласны иаараны иҟоуп, агәҳалалратә еидара зқәу 18 машьына.

 

02.07.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Тамшьтәи аоперациаҟны иҭахаз ргәалашәара амш

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Тамшьтәи аоперациаҟны иҭахаз ргәалашәара амш. 17 шықәса раҧхьа, ҧхынгәы 2 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан амшын аҟынтә иӡхыҵит аҧсуа адесант. Уи иалахәын 300 ҩыуаак рҟынӡа аибашьцәа.

 

Рашәарамза анҵәамҭазы, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет акомандаҟаҵара аӡбара аднакылеит (Аҟәа араион) Шрома ақыҭеи, иара убас астратегиатә ҵакы змаз аҳаракырақәеи анапахьы раагаразы, уи аҳҭны-қалақь ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа амҩаҧгаразы аҵак ҷыда аман. Иара убасҟанҵәҟьа, Тамшь ақыҭан адесант рыртәаразы аӡбара рыдыркылеит, ақырҭуа архәҭақәа рыцхырааразы иаауаз аибашьцәеи, иара убас абџьари аџьаҧҳани злааргоз астратегиатә ҵакы змаз амҩаду хада аркразы. Уи адагьы, ақырҭуа архәҭақәа, Мрагыларатәи афронтахь рымчқәа еизыркыр, уи аҧсуа ар аҭагылазаашьа рнаҭон Шроматәи ахырхарҭала қәҿиарала ажәылара амҩаҧгара.

 

Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет акомандаҟаҵара, адесант рҿаҧхьа хықәкыс иқәдыргылеит, хымш амҩаду аанкылара, аха аоперациа алахцәа рфырхаҵара иабзоураны, аҕа Аҟәа 8 мшы даҟәыган.

 

Тамшьтәи аоперациа командаҟаҵаҩыс дыҟан Заур Зарандиа. “Иахьа даҽазныкгьы иаҳгәалаҳаршәоит усҟантәи амшқәа рзтәи ахҭысқәа. Ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ари аоперациаҟны иҭахаз. Усҟан иҭахеит 11 –ҩыуаак, урҭ рыхьыӡқәа наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҟны иаанхоит”, - иҳәеит Аҧсны Афырхаҵа Заур Зарандиа.

 

Иахьа Тамшь, Ахьӡ-аҧша Амемориал аҿаҧхьа, имҩаҧысит ари аоперациа 17 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа. Иҭахаз ргәалашәаразы арахь имҩахыҵит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа, Ареспублика Аҧсны Арбџьармчқәа Мрагыларатәи агәыҧ Архәҭа акомандаҟаҵаҩ Владимир Ануа, Аҟәатәи аказакцәа иҷыдоу ргәыҧ ахаҭарнакцәа, Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рхадацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.

 

02.07.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәынҭқарра Ахада ауаажәларра политикатә усзуҩцәа гәыҧҩык аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаишьеит

 

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаишьеит ареспублика аҿиареи ашьақәгылареи рыҟны зылшамҭақәа рацәоу гәыҧҩык ауаажәларра политикатә усзуҩцәа. Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаҧысит иахьа, ҧхынгәы1 азы, аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны.

 

“Ахьӡ-аҧша” аорден аҩбатәи аҩаӡара ранашьоуп: Аҧсны Афырхаҵа Оҭар Ломиеи, Аҧсны Аҵарадыррақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩа аҵарадырра-ҭҵааратә институт аиҳабы Лиосик Аибеи.

 

“Ахьӡ-аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьоуп Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Страничкин.

 

Ашәаҳәаҩ Зоиа Аншбеи, Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы Ирма Ақырҭааи, апедогогика аинститут аспециалист хада Сырма Агрбеи, жәлартә ҵара зҽаҧсазтәыз аусзуҩцәа Светлана Сарсаниеи, Алла Бадиеи, Ҭина Аршбеи, Галина Манџьгалаӡеи; атуризм аусхк аҟны зҽаҧсазтәыз аусзуҩ Аделаида Оҭырбеи аҳәынҭқарра Ахада иранаишьеит “Ахьӡ-аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара.

 

Аҧсуа полиграфиа аҿиараҟны рлагалақәа рзы Сергеи Багаҧшь иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ахҧатәи аҩаӡара ранаишьеит Зинаида Ақаҩбеи, Флора Феизбеи, Фируза Қапбеи, Светлана Иосавеи.

 

“Ахьӡ-аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу рыбжьара иҟоуп акурорт “Пицунда” адиреқтор хада Валерии Қырҭбаиа, аҧсшьарҭа ҩны “Солнечныи” адиректор хада Римма Арӡынба, аҳәынҭнаплакы “Аҧсныҟәарахьчара” аиҳабы Мақсим Харчлаа, акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Зураб Амҷба, аҳәынҭеилакы “аҧсныргылара” ҧасатәи адиреқтор хада Борис Аршба, Тҟәарчал араион ахадара ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал.

 

“Ахьӡ-аҧша” аорден рҽаҧсартәит амилициа аполковник Константин Адлеибеи, Абыргцәа Рхеилак алахәыла Акакь Бигәааи.

 

01.07.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь дырҧылеит Ареспубликатә политикатә партиа “Иакыу Аҧсны” актив

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь дырҧылеит Ареспубликатә политикатә партиа “Иакыу Аҧсны” актив. Аиҧылара иалахәын арегионалтә ҟәшақәа зегьы рхаҭарнакцәа.

 

Апартиа Ахантәаҩы Даур Ҭарба иажәақәа рыла, Иакыу Аҧсны алахәцәа рхыҧхьаӡара 22 нызқьҩыуаак инархыҳәҳәоит.

 

Иара иажәақәа рыла, апартиа ауаажәларра ргәы иҵхо азҵаарақәа хырҩаа ду арҭоит. “Ҳара еиҿаҳкаахьеит “астол гьежьқәа” ҧшьба- азинеилагарақәеи, адемографиеи, анаркоманиеи, амилаҭтә қьабзқәа реиқәырхареи рпроблемақәа инарыдҳәаланы”, - иазгәеиҭеит Ҭарба.

 

Апартиа “Иакыу Аҧсны” актив рҿаҧхьа иқәгылараан Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада дырзааҭгылеит атәыла аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика азҵаатәқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны ашәарҭадара аиқәыршәара, асоциал-економикатә ҿиара аперспективақәа, аекономика аинвестициақәа, аполитикатә система амодернизациа, аӡбаратә мчра ареформақәа ралагалара уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Апартиа алахәцәа  даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан иаадырҧшыз адгылареи аилкаареи рзы. Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, алхратә компаниа шымҩаҧысыз ҳәынҵәеиқәҭәарада, азакәанеилагара ыҟамкәа.

 

01.07.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада