AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 

 
Агәабзиара,

агәамҷ ақәҿиара дуқәа

шәзаанагааит Ашықәс ҿыц!

kapba.de             
 

 Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Очамчыра араион даҭааит

 

Аҟәа, Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Очамчыра араион даҭааит.

 

Аҳәынҭқарра Ахада Очамчыра араион Ахадара аусзуҩцәеи араион ауаажәларреи идирдырит араион Ахадара аиҳабыс дшыҟаҵоу Мурман Џьопуа. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аиҳабы Кристиан Бжьаниа.
 

Араион Ахадараҟны Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧигеит ауаааҧсыра рыдкылара. С.Багаҧшь дырҭааит ааглыхратә обиектқәеи, иара убасгьы аибашьраан ааха ҕәҕәа зауз а-6-тәи аиланхарҭатә микрораион.
 

Аҳәынҭқарра Ахада Очамчыра араионахь ицымҩахыҵит ареспублика аминистррақәеи ахылаҧшырҭақәеи гәҧҩык рнапхгаҩцәа.

 

19.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Даниель Ортега аҳәамҭа ҟаиҵеит иаарласны Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи дшырҭаауа ала

 

Аҟәа, Даниель Ортега игәы иҭоуп, дук хара имгакәа, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи дырҭаарц. „Агәра згоит, иаарласны арҭ аиашьаратә республикақәа рыҩбагь сшырҭаауа ала“, - иҳәеит уи Москва Урыстәыла Афедерациа Апрезидент иҿцәажәара алыҵшәақәа рзы имҩаҧгаз апресс-конференциаҟны.
 

„Ас еиҧш аҭагылазаашьа аныҟала (Қырҭтәыла агрессиа) ҳарҭ гәыҩбара ҟаҳамҵеит арҭ ажәларқәа рҩызарази Урыстәыла ахымҩаҧгашьа адгылара аҭареи рзы – иҳәеит Ортега. Уажәы, Москва сыҟазаара схы иархәаны, арҭ атәылақәа салам рысҭарц сҭахыуп!“
 

Дмитрии Медведев Даниель Ортега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵаразы. Ари аӡбара адунеи жәларбжьаратәи азин арҕәҕәара иацхраауеит“, - иҳәеит уи. – Ҳара уи ахә ҳшьоит“.
 

Урыстәылеи Никарагәуеи рпрезидентцәа иахьа аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны Еицыҟарҵаз Аҳәамҭаҟны ишьақәдырҕәҕәеит „Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара аполитикатә иашара“.
 

Аиҿцәажәарақәа раан, аҳәамҭаҟны изларбоу ала , Дмитрии Медведев Даниель Ортега иирдырит „Кавказ аҭышәынтәалара арҕәҕәареи, Қырҭтәыла имҩаҧнагаз агрессиа иахҟьаны ааха зауз Аахыҵ Уаҧстәыла ажәлар агәҳалалратә цхыраара рыҭареи рзы Урыстәыла иаднакылаз ашьаҿақәа.“
 

Кремльтәи аиҧылараан Даниель Ортега аҳәамҭа ҟаиҵеит, Никарагәуа „Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рзы Урыстәыла апозициа адгылара шарҭо ала“. „Ҳара арҭ ажәларқәа ҳарҩызцәоуп“, - иҳәеит уи.

 

19.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа рраунд ҿыц иацҵахоит жәабран мза 17-18 рзы

 

Аҟәа, Женева жьҭаарамза 15 раахыс имҩаҧысуа Кавказ ашәарҭадаразы аицәажәарақәа рраунд ҿыц жәабран мза 17-18 рзы иацҵахоит , ҳәа адырра ҟаиҵеит анапынҵа ҷыдақәа рзы Европатәи Аидгыла ацҳаражәҳәаҩ Пиер Морель.
 

„Аиҿцәажәарақәа ирылахәыз еиқәшаҳаҭхеит, Кавказ ашәарҭадаразы ацәажәарақәа 2009 шықәса, жәабран мзазы имҩаҧыргаразы“, - иҳәеит Морель аҧшьашаҽны, Европатәи Аидгылеи, ОБСЕ-и, ЕАР-и, Урыстәыла, Қырҭтәыла, Аҧсны, Аахыҵ Уаҧстәыла рхаҭарнакцәа злахәыз жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи рраунд алыҵшәазы имҩаҧгаз апресс-конференциаҟны.
 

„Аицәажәарақәа ирылахәыз алацәажәеит аимакқәа рзы заа агҽанҵара амеханизмқәа, зегьы ақәшаҳаҭхеит урҭ рхрылархәра, аха макьаназы еиқәшаҳаҭра ҳәа акагьы алыршам“, - иҳәеит Морель.

 

19.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Даур Ҭарба даҽа усурҭак ашҟа ииасра инадҳәаланы имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Иусҧҟала, Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Даур Ҭарба даҽа усурҭак ашҟа ииасра инадҳәаланы, имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
 

Очамчыра араион Ахадара аиҳабыс дҟаҵоуп, уаанӡа Очамчыра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Мурман Џьопуа.
 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала, даҽа усурҭак ашҟа ииасра инадҳәаланы, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

 

18.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев диҧылеит

 

Аҟәа, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев диҧылеит.
 

Цыгәба адипломат имаҵура иахаргылара идныҳәало, изеиҕьеишьеит ақәҿиарақәа.
 

Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ адипломат иирдырит атәыла иреиҳау азакәанҧҵаратә еиҿкаара аусура, убри аан иазгәеиҭеит, Жәлар Реизараҟны ишарбоу Аҧсны аполитикатәи, ауаажәларратәи партиақәеи аҵысрақәеи зегьы. Есышықәса апарламент иаднакылоит 250 закәан рҟынӡа.
 

„Аҧсны жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо адемократиатә азинтә ҳәынҭқарра аргылара амҩа иануп. Ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарра амчратә институтқәа зегьы, иҿиоу ауаажәларратә еилазаара. Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара ҳара ҳхықәкқәа риашара еиҳагьы агәра ҳнаргеит“, - иҳәеит аиҧылараҟны Цыгәба.
 

Аиҧылараҟны ирылацәажәон, апарламент адепутатцәа ҳазҭагыло аамҭазы аус здыруло азаканапроекҭқәа.
 

Цыгәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҧсуа депутатцәа урыстәылатәии белорусиатәии рколлегацәа активла аус шрыцыруа атәы. „Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭдумеи ҳпарламенти  аизыҟазаашьа бзиақәа рымоуп“.
 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ  инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Афедерациа Афедерациа Ахеилаки Аҧсны апарламенти ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра Урыстәыла Афедерациеи Ареспублика Аҧсни рзакәанҧҵарақәа русеицура ишацхраауа.
 

„Ҳара даара иаҳгәаҧхоит, Урыстәыла адипломат Аҧсны ахьидыруа. Агәыҕра ҳамоуп, идырреи иҧышәеи, иеилкаареи ихы иархәаны, урыстәыла-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рырҵаулара дшацхраауа ала“, - иҳәеит аиҧылара ахыркәшамҭаз Цыгәба.
 

Иахьа Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ дырҧылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Р.Ҳаџьымбеи, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакобеи.

 

17.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ С. Григориеви Аҧыза-министр А.Анқәаби реиҧылараҿы ирылацәажәеит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа

 

Аҟәа, Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев диҧылеит Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб. Аиҧылараҿы ирзааҭгылан Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа.

 

Анқәаб адипломат изеиҭеиҳәеит, 2009 шықәсазтәи абиуджет ашьақәыргылараҟны ишарбоу амчратә еилазаарақәа русзуҩцәа руалафахәы аизырҳара. „Ауалафахәы амаҷра иахҟьаны, аилазаарақәа рҟнытә  ицо ыҟоуп. Убри аан уи иазгәеиҭеит, Гал араион аҳәаа аҟны амаҵзура иахысуеи, Гагреи мамзаргьы Аҟәеи ақалақьқәа рҟны аус зуеи уалафахәыла реиҟаратәра шиашам“,– азгәеиҭеит Анқәаб.
 

Аиҳабыра рхада ацҳаражәҳәаҩ изеиҭеиҳәеит, ареспублика аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа. Хәҭакахьала, уи иазгәеиҭеит, Урыстәыла иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Афон Ҿыцтәи ауахәама аҟны ишымҩаҧгаз аусура ду . Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Аҧсны, макьанагьы, ирацәоуп аиҭашьақәыргылара зҭахыу аҭоурыхтә қьырсиантә баҟақәеи, ауахәамақәеи. Убри азын, Анқәаб иажәақәы рыла, анаукеи, аҵарадырреи, акультуреи рызҵаарақәа рзы Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ахәшьареи ацхыраареи ҟарымҵакәа ас еиҧш апроектқәа рынагӡара шзалымшо.
 

Аҧсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны анапхгара абарҭ азҵаарақәа рзы идҵааларц шрылшо ИУНЕСКО аҟны Урыстәыла ахаҭарнак Михаил Швыдкои ишҟа.
 

Аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ ажәа ииҭеит, аиҳабыра аринахыс, Аҧсны Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭахь адырра шыҟарҵало ала аекономикатәи акультуратәи проектқәа рзы.
 

Анқәаб иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминисттреи Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәгылара атәы. Иара убасгьы иҳәеит ааигәа Аҧсны дшаҭааз, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рашид Нургалиев. Аҧыза-министр иҳәеит,  хәҭакахьала,Москва ақалақь аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аусбарҭа хада ареспубликазы иҟанаҵо ацхыраара ду атәы.
 

Анқәаб хаз ҷыдала дазааҭгылеит, Аҧсны амҩақәа реиҭашьақәыргылараҟны Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара. Ҩ-шықәса ирылагӡаны, Ҧсоу-Аҟәа  ирыбжьгоу амҩаду аиҭашьақәыргылаоратә усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп. Иара убасгьы, уи иазгәеиҭеит, Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭа аҟны амҩадуқәа рҭагылазаашьа бааҧс атәы.
 

„Ҳара ҳазҿлымҳауп Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭа арҿиара“, - азгәеиҭеит Аҧыза-министр.
 

Аиҧылараҟны, иара убасгьы ирылацәажәан афымцанхамҩа аусра атәы. Урыстәыла иҟанаҵаз аматериал-техникатә еиқәыршәара иабзоураны, иахьатәи аамҭазы уи аҭагылазаашьа акырӡа еиҕьыуп.

 

17.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аделегациа Женеваҟа ицоит арегион аҟны ашәарҭадара азҵаарақәа рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара хықәкыс ирыманы

 

Аҟәа, Аҧсны аделегациа иахьа Москваҟа ицоит, уантә амҩа иқәлоит Женеваҟа Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи рраунд, ҧхынҷкәын 17-19 рзы имҩаҧысраны иҟоу аҽалархәразы.
 

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа, Аҧсуа-абаза жәларқәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа анагӡаратә еилакы алахәыла Зеки Қапба.
 

Амшхәаҧштә азҵаатәқәа ируакыуп ахҵәацәа рпроблемеи ашәарҭадара азҵаареи.
 

„Ҳара Женеваҟа ҳцоит ООН амиссиа амандати, Егры аӡиас иаҧну ақырҭуа – аҧсуа ҳәааҟны есмчыбжьатәи аиҧыларақәа рырҿыцреи рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара хықәкыс иҳаманы., - иҳәеит Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа. ООН амиссиа амандат  ахьӡ аҧсахреи иара убасгьы арҽеирақәа алагалареи ахәҭаны иаабоит. Қырҭтәыла ахылаҧшразы ООН амиссиа ҳәа ахьыӡ ааныжьра уажәшьҭарнахыс изалыршахом“.
 

Ҕәнџьиа иажәақәа рыла, аҧсуа ган мап ацәнакуам ООН амиссиа  Аҧсны аусура иацнаҵарц. „Уиадагьы, - иҳәеит уи, - ҳара иаҳҭахыуп ООН ахылаҧшрала Гал араион аҟны Аҧсни , Қырҭтәылеи, Урыстәылатәи арбџьар мчқәеи, Европатәи Аидгылеи ООН –и рынаҧшцәа злахәу ес-мчыбжьатәи аиҧыларақәа реиҭарҿыцра. Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ игәаанагарала, Гали Жәыргьыҭи араионқәа ирыҧну аҳәаақәа рыҟны аҭыҧ змоу аибарххара арҧсыҽра акыр иацхраауеит.“
 

Ҕәнџьиа иажәақәа рыла, „ашәарҭадара азҵаара ӡбамкәа ахҵәацәа рпроблема аӡбара залшом“.

 

16.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Жьырныҳәамза 1 инаркны Очамчыра араион аҟны аефир ахь иҭыҵуеит аҭыҧантәи ателехәаҧшра астудиа „Абжьыуаа“

 

Аҟәа, Жьырныҳәамза 1 инаркны Очамчыра араион аҟны аефир ахь иҭыҵуеит аҭыҧантәи ателестудиа „Абжьыуаа“. Адырраҭарақәа макьаназы мчыбжьык ахь ҩынтә аефир ахь иҭыҵлоит – ҩашалеи ҧшьашалеи. Астудиаҟны аус руеит 9 – ҩыуаак.

 

„Ашықәс ҿыц инаркны очамчыраа аҭыҧантәи ажәабжьқәеи ахҭысқәеи инарҵауланы еилыркааларц рылшоит аҭыҧантәи астудиа абзоурала.“, - иҳәеит астудиа аиҳабы Рамаз Џьопуа. Астудиа аусура финансла аиқәыршәара араионтә биуџьет ахыҧхьаӡалараҿы иҟоуп.

 

Ателестудиа „Абжьыуаа“ аоператор Анатолии Маланиа излашьақәирҕәҕәаз ала, ателеефир ашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп ҩымыз раахыс „Ҳара аефир ахь ҳҭыҵуеит аҧышәаратә дырраҭарақәа рыла, зых иақәиҭу ацәқәырҧаҟны“, - иҳәеит Маланиа.Адырраҭарақәа шьақәыргылахоит ҩ-бызшәакны аҧсышәалеи урысшәалеи. Очамчыра араион аҟны адагьы, аефир иахәаҧшларц рылшоит Очамчыреи Гали рраионқәа рҟны инхо ауааҧсыра.

 

12.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамбеи ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдеи Аҧсны ООН амиссиа амандат ҿыц адкыларазы алшарақәа ирылацәажәеит

 

Аҟәа, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба диҧылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке.

 

Шамбеи Вербекеи алацәажәеит Аҧсны ООН амиссиа амандат ҿыц адкыларазы алшарақәа. Гал араион аҟны Аҧсны, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ООН злахәу ҧшь-ганктәи аиҧылара аиҭарҿыцразы аҧсуа ган иҟанаҵаз ажәалагала Ахаҭарнак ҷыда адгылара аиҭеит.

 

10.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны азхиоуп Женеватәи абжьгарақәа ахҧатәи рраунд алахәхара

 

Аҟәа, Қырҭтәыла иҟоу акризистә ҭагылазаашьақәа рзыЕвропатәи аилазаара ахаҭарнак ҷыда Пиер Морель иахьа Аҧсны дааит. Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамбеи иареи реиҧылара. Аиҧылара далахәын, иара убасгьы ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербеке.

 

„Ҳара арахь ҳаара хықәкыс иамоуп, ҧхынҷкәын 17-18 рзы Женева иҟалараны иҟоу Кавказ ашәарҭадаразы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи рраунд аҽазыҟаҵара.. Ҳара ари аиҧылараҟны аҧсуа ган ҳарзыҧшыуп“, - иҳәеит аиҧылара алагамҭаз Пиер Морель. Уи адырра ҟаиҵеит, аделегациа аилазаараҟны дшыҟоу иара убасгьы,  ОБСЕ аҟны Бырзентәыла ахаҭарнак ҷыда Харлампос Христопулос. Бырзентәыла, Морель иажәақәа рыла, 2009 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны ОБСЕ аҟны хантәаҩра аулоит. Иахьазы уаҟа хантәаҩра ауеит Финлиандиа.

 

С.Шамба иазгәеиҭеит, аиҿцәажәарақәа рылахәхаразы аофициалтә Аҟәа ааҧхьара шаиухьоу. „Ари аиҧылара ҳара ҳхы алаҳархәуеит, ҳагәгьы иҭоуп амшхәаҧштә аҟны иарбоу азҵаарақәа активла аус рыдулара“.

 

Пиер Морель  абҵара 18-19 рзы имҩаҧысыз Женеватәи аиҧылара „хырҳара“ злоу акәны иазиҧхьаӡоит. Убри аан уи иҳәеит, Аҟәаҟа дшааз иҟалараны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа иҵегьы лыҵшәала рымҩаҧысразы ахшыҩҵак ҿыцқәа иманы.  Шамбеи иареи реиҧылара егьи ахәҭа мҩаҧысит ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

 

Европатәи Аидгылеи, ООН-и, ОБСЕ-и рхаҭарнакцәа ҷыдақәа Женеватәи апроцесс иацхантәаҩцәоуп.

 

10.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Белоруссиа апарламент Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи разхаҵара азҵаара ахәаҧшырц алшоит 2009 ш. рзы – жәларбжьаратәи аусқәа рзы акомиссиа ахада

 

Аҟәа, Белоруссиа апарламент Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи разхаҵара азҵаара ахәаҧшырц алшоит 2009 ш. рзы. Абри аҩыза агәаанагара иҳәеит жәларбжьаратәи аусқәеи аимадарақәеи рзы апарламенттә комиссиа ахада Сергеи Маскевич.

 

„Ари аус ахыццакра аҭахым, аха ахарагьы игатәым. Ашықәса нҵәаанӡа ари азҵаара аныӡбамха, иааиуа ашықәс ҿыц азы, хымҧада уи ҟалоит“, - иҳәеит «Время новостей» аҟны икьыҧхьыу иинтервиу аҟны.

 

„Ари акрызҵазкуа зҵаароуп, уи алацәажәараан иаҳхаҳмыршҭуазароуп Белоруссиа Урыстәыла ишаҩызоу.

 

„Аахыҵ Уаҧстәыла иҟанаҵаз ааҧхьара, сара исоуит мышқәак раҧхьа, уи аҧхьа ҳара иҳаухьан Аҧсны официалла Белоруссиа апарламент ахь иҟанаҵаз ааҧхьара.“ – иазгәеиҭеит уи. Маскевич иажәақәа рыла, „амчратә еилазаарақәа иарбанзаалак рхала ари азҵаара рыӡбаӡом“. Ариаҟара аҵак ду змоу, ахьыҧшымра азхаҵареиҧш, „ ауаажәларра ишрыдыркылоугьы ҳасаб азутәуп“, ҳәа азиҧхьаӡоит акомиссиа ахада.

 

10.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Бельгиатәи ауаажәларратә ассоциациа „Ҳәаа змам аҟазара – Аҭынчра ацҳа“ „Ажәлари аҧсадгьыли рымаҵ ауразы“ аноминациала С.Багаҧшь иананашьеит адиплом

 

Бельгиатәи ауаажәларратә ассоциациа « ART SANS FRONTIERES – PONT DE LA PAIX » (Ҳәаа змам аҟазара – Аҭынчра ацҳа) аҳаҭыртә дипломқәа рананшьеит, 2008 шықәса рзы азеиҧштә прогресси Адгьыл аҿы аҭынчра арҕәҕәареи рҿы рылшамҭақәа рзы амилаҭтә хақәиҭратә ҵысраҿы иналукааша алидерцәеи, аҳәынҭқарра-политикатә усзуҩцәеи, ауаажәларра – политикатә еиҿкаарақәеи.
 

„Азеиҧштә прогресси аҭынчра ауси рҟны хаҭалатәи рылшамҭақәа рзы“ аноминациала:

 

-    Уго Чавес – Венесуела ареспублика Апрезидент;

-    Даниел Ортега – Никарагәуа ареспублика Апрезидент;

-    Дмитрии Медведев – Урыстәыла Афедерациа Апрезидент;
 

„Ажәлари Аҧсадгьыли рымаҵ ауразы“ аноминациала:
 

-    Сергеи Багаҧшь – Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада;

-     Едуард Кокоиты – Аахыҵ Уаҧстәыла Аҳәынҭқарра Ахада;

 

„Ауаатәыҩсатә фырхаҵара“ анаминациала:

 

- Игор Фроианов – аҭоурыхҭҵааҩ, ишәҟәқәа "В октябре семнадцатого" "Погружение в бездну" рзы.

 

07.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа Гал араион ашәарҭадаратә ҭыҧ аҟнытә ралгара инамаданы, урҭ рҭыҧ ааныркылоит аҧсуа еилазаарақәа

 

Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа Гал араион ашәарҭадаратә ҭыҧ аҟнытә ралгара инамаданы, урҭ рҭыҧ ааныркылоит аҧсуа еилазаарақәа. Абри атәы иҳәеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, ахашаҽны, Гал ажурналистцәа рзы имҩаҧигаз абрифинг аҟны. Иара иажәақәа рыла, иаҧҵахоит 12 рҟынӡа аҧыҧшырҭақәа.
 

„Ҳара аҳәаа ахьчара арҕәҕәаразы, уи аусзуҩцәа рхыҧхьаӡара иацаҳҵоит. Уи ада ҧсыхәа шыҟам убаратәы иҟоуп. Зыҟны аус ҳамоу, ҳгәлацәа зусҭцәоу ҳасаб азуны, ҳара ҳзын иахьа ихадоуп – аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара арҕәҕәара“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
 

Аҳәаа ахысразы анашьҭыгатә режим акәзар, С. Багаҧшь иажәақәа рыла ,уи шыҟац иаанхоит: аҳәаа иахысырц рылшоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русзуҩцәеи Егрытәи аӡфымцастанциа аусзуҩцәеи.
 

Европатәи арратә наҧшцәа, Гал араион атерриториахь закәандарыла аҳәаа ахысразы акырынтә рыҽшҧыршәахьоу атәы дазааҭгыло, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: „Ҳара ҳзин рымамкәа аӡәгьы арахь аҳәаа дахҳажьуам. Аиҧыларазы агәаҳәара рымазар, ҳара иҳамоуп Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра, арҭ азҵаарақәа зегьы рыӡбара алзыршо“.
 

Аҳәынҭқарра Ахада иинформациала, Европатәи аилазаара арратә наҧшцәа рнапхгаҩы аиҧылара даҳәеит. „Ҳахәаҧшып ахҭысқәа рыҿиашьа; иҟалап аиҧылара сақәшаҳаҭхаргьы, изыргәамҵуа аилкаарази, насгьы асанкциа азумкәа аҳәаа ахысра аринахысгьы ишаҧҳарҟәҟәаауа азы ргәа рҽанысҵарц ази“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
 

С.Багаҧшь ажурналистцәа адырра риҭеит, Гал араион аҟны инхо, Аҧсны ауааҧсыра апаспортқәа рыҭара шхацдыркыз ала. „Агәнамӡарақәа ыҟазаргьы, ҳара ари апроцесс ҳалагеит, Гал араион аҟны инхо, Аҧсны иауааҧсыроуп“ – инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

04.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гал араион даҭааит

 

Гал, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Гал араион даҭааит. Араион Ахадараҿы Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧигеит аилатәара.  Уи иалахәын аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Беслан Кәбраа, атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа, Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистр Оҭар Хециа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Самсониа, араион анапхгареи, азинхьчаратә еиҿкаарақәеи.

 

Уаҟа ирылацәажәан, Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәынҭқарратә ҳәаа арҕәҕәара иадҳәалоу азҵаатәқәа. Аҳәынҭқарра Ахада анапынҵа риҭеит аҳәаахьчаратә маҵзурақәа русура арманшәаларазы иахәҭоу зегь рыла еиқәдыршәарц. С.Багаҧшь араион аҟны аус зуа амаҵзурақәа зегь рнапхгаҩцәа ааҧхьара риҭеит  русеицура аиҕьтәразы.

 

Азинхьчаратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи аҭыҧантәи амчрақәа рхаҭарнакцәеи Аҳәынҭқарра Ахада идырдырит арегион аоперативтә ҭагылазаашьеи, иара убасгьы амилаҭҭә паспортқәа Гал араион ауааҧсыра рыҭара апроцесс амҩаҧысшьеи.

 

Аиҧылара анҵәамҭазы, Аҳәынҭқарра Ахада ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаҧигеит.

 

03.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Жәлар рфорум „Аидгылара“ 20 шықәса ахыҵра арыцхә амҩаҧгаразы иаҧҵоуп аиҿкааратә еилакы

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа инақәыршәаны, ауаажәларра-политикатә еиҿкаара – Жәлар рфорум „Аидгылара“ 20 шықәса ахыҵра арыцхә амҩаҧгаразы иаҧҵоуп аиҿкааратә еилакы.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Валерии Аршба хадара ззиуа аиҿкааратә еилакы аилазаараҿы иҟоуп Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиа, ашәҟәҩҩы Алықьса Гогәуа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, адепутат Валерии Кәарҷиа, аҭоурыхҭҵааҩы Игор Марыхәба.

 

03.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Санкт-Петербургтәи Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит Санкт-Петербургтәи Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа, зхадараҿы дыҟоу Аизара ахантәаҩы Сергеи Анденко. Урҭ Аҧсны анапхгара ирҧылаанӡа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аҧша Абаҟа аҿаҧхьа.

 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Урыстәыла Афедерациа анапхгара даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иҭоурыхтәу, аҭакҧхықәра ду зцыу ашьаҿазы – Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы.

 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит, Владимир Путин  атәыла анапхгарахь даннеи нахыс Урыстәыла Аҧсны ашҟа азыҟазаашьа аҽшаҧсахыз. Аҳәынҭқарра Ахада дазааҭгылеит, 1993 шықәсазы, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра анеилга ашьҭахь, ареспублика аблокада ишҭакыз, ишахнагаз ауадаҩра дуқәа. „Ҳара ахәшәқәаҵәҟьа арахь иаҳзаагомызт, аха Урыстәыла анапхгара ҿыц анахагыла аҭагылазаашьа аҽаҧсахит“, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.

 

Аҳәынҭқарра Ахада, иара убасгьы, ҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәылатәи абжьаҟазацәа, 15 шықәса раахыс аимак азонаҿы аҭынчра зыхьчо.

 

„Санкт-Петербургтәи Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа Аҟәа раара – ари Аҧсни ҳареи иааигәаӡаны аусеицура ҳабжьаҵаразы раҧхьатәи шьаҿоуп“, - ҳәа азгәеиҭеит, Аизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Анденко. Уи дазааҭгылеит, нанҳәазы Кавказ аҭагылазаашьа шыҵархаз, убри инадҳәаланы Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара зегь раҧхьаӡа, аҩныҵҟатәи аполитикатә ҳәоуеиқәымшәарақәа ирмыхәаҧшыкәа, Урыстәыла Афедерациа анапхгарахь ааҧхьара ҟанаҵеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи адгылара рырҭарц азы.

 

Анденко иажәақәа рыла, Урыстәыла Афедерациа Арбџьар Мчқәа рыла Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи руааҧсыра рҭынчра ахьчаразы ирыдыркылаз аӡбара, ари акырӡа равторитет шьҭнахит  Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы Владимир Путини, Урыстәыла Апрезидент Дмитрии Медведеви.

 

Анденко инаҵшьны иазгәеиҭеит, Санкт-Петербургтәи Азакәанҧҵаратә Еизара шазхиоу  Аҧсны Апарламент аус ацуреи, азакәанҧҵараҿы аҧышәарымадареи. Уи ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иҟаиҵаз адкыларазы.

 

Аизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Санкт – Петербургтәи Азакәанҧҵаратә Еизара  ахантәаҩы иааиҭииз ,Аҧсны Аконституциа амшыҳәа инадҳәаланы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи, Азакәанҧҵаратә Еизара ахьтәы дыргеи рнапаҿы ириҭеит.

 

Багаҧшь иазгәеиҭеит, Аҧсны ииз аишьцәа Колесниковаа рроль. Урҭ ирыбзоураны аӡәырҩы, еиҳаракгьы ахәыҷқәа, изныкымкәа Санкт-Петербургҟа ицахьеит, ирылахәхахьеит акыр ныҳәақәеи, афестивальқәеи.

 

В.Колесников адепутатцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит, Петербург аиҳабыреи, аус знапы алакыуи Аҧсны апроблемақәа рыӡбара ралархәраҿы ирылшо зегьы ҟарҵарц.

 

03.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Апарламент актәи аҧхьараҿы иаднакылеит Ареспублика Аҧсны 2009 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан

 

Аҟәа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит Ареспублика Аҧсны 2009 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан. Иааиуа ашықәс абиуџьет ахашәалахәыи аныхтәи иартәоит 3,874 миллиард мааҭ.

 

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Б.Кәбраа иазгәеиҭеит. 2009 шықәсазтәи абиуџьет шьақәыргылоуп ареспублика асоциал-економикатә ҿиара аиндикативтә план ашьаҭала ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Аҳәынҭбиуџьет апроект аҟны ҳасаб рызууп аинвестициатә проектқәа зегьы.

 

Аҧыза-министр А.Анқәаб иазгәеиҭеит, „Гал араион иазкыу апрограммақәа зегьы хырхарҭас ишрымоу, уи ауааҧсыра аҧсуа економика ралархәра“. „Ари араион аҟны иаҳҧыло ауадаҩрақәа рацәоуп, аха урҭ  ӡбахоит“, - иазгәеиҭеит уи.

 

Арҵага шәҟәқәа ашколқәа разымхара мзызс иамоу азҵаара аҭак ҟаҵо, А.Анқәаб иҳәеит: „Аҳәынҭқарра иамоуп афинансқәа арҵага шәҟәқәа рҭыжьразы. Иаҭахыуп апрограмма ҿыцқәеи, атекстқәеи, уи аҵарауаа ирҩыроуп“.

 

2009 шықәсазтәи Аҳәынҭбиуџьет иазҧхьагәанаҭоит аҳәынҭқарратәи акоммерциатәи наплакқәеи аиҿкаарақәеи рхашәала 625,7 миллион мааҭ, ( урҭ рхыҧхьаӡараҿы: ахашәалахәы иақәу ашәахтә - 200,1 миллион мааҭ; ацҵаҧса иақәу ахәҧса – 363 миллион мааҭ; ахәцҵа – 54, 5 миллион мааҭ, амазара иақәу ашәахтә - 6,8 миллион мааҭ) егьырҭ ашәахтәқәеи аизгақәеи рҟынтә алагалақәа – 3, 248 миллиард мааҭ ( урҭ рхыҧхьаӡараҟны – ахашәалахәытә шәахтә - 269,1 миллион мааҭ; аҳәынҭқарратәи аҳазалхратә баџьи – 287, 8 миллион мааҭ; аҧсабаратә аалыҵқәа рхархәаразы ахәҧса – 33, 75 миллион мааҭ) егьырҭ ашәахтәқәеи, аизгақәеи алагалақәеи – 2 миллиард мааҭ инарзынаҧшуа; арыжәтә џьбарақәа рыҭира азин азы алицензиатә еизга, - 2, 48 миллион мааҭ, адгьыл ашәахтә - 60,6 миллион мааҭ, анхарҭақәа рприватизациазы ахашәала – 11, 2 миллион мааҭ, ашәахтә ҷыда – 26, 64 миллион мааҭ.

 

01.12.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада