AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҧсуа шрифт



 

Агәабзиара,

агәамҷ ақәҿиара дуқәа

шәзаанагааит Ашықәс ҿыц!

kapba.de             

 

 Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет иахыҵит – 30 шықәса

 

Иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет ақттә зал аҟны имҩаҧысит аиубилеитә хәлҧазы. Аунивирситет аколлектив ирыдырныҳәаларц арахь имҩахыҵит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба, аҳҭны-қалақь ахада Алиас Лабахәуа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, аиҳабыра алахәцәа.

 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аректор Алеко Гәарамиа. Уи ирзеиҭеиҳәеит аҵараиурҭа аҭоурых, раҧхьатәи аҧсуа унивирситет аартра иацыз ауадаҩрақәа. Гәарамиа хьыӡҳәала игәалаиршәеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Унивирситет аартреи ашьақәгылареи рыҟны зыхәҭа ҕәҕәа алазгалаз – Борис Адлеиба, Валериан Кобахьиа, Баграт Шьынқәба, Гьаргь Ӡиӡариа, Иури Воронов уҳәа убас егьырҭгьы.

 

“Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә унивирситет аартра иреиҳау апрофессионалтә ҵарадырра аҿиараҿы ихҭыс духеит. Урыстәыла аунивирситетқәа Рассоциациа иалахәыла иашоу Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Унивирстет жәларбжьаратәи аусеицура қәҿиарала еиханаҳауеит,” – ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.”Зквалификациа ҳаракыу акыр биҧара еиҵазааӡахьоу Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә унивирситет иахьагьы агәадура амоуп аушьҭымҭацәеи арҵаҩцәеи рыла. Урҭ рҟынтә зыҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз рацоуп. Урҭ хашҭшьа рықәым!”

 

Иазгәаҭатәуп, Аҧсны ахақиҭтәра рхы шақәрҵаз 94-ҩыуаак астудентцәеи аунивирситет аусзуҩцәеи.

 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет – аҵарадырра ишауасхыру. Уи иазгәеиҭеит аринахысгьы дшақәгәыҕуа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет ари аҭакҧхықәраду зцыу амиссиа нанагӡалап ҳәа. Багаҧшь аунивирситет иазеиҕьеишьеит аизҳа-зыҕьареи, ақәҿиарақәеи. Аҳәынҭқарра Ахада астудентцәа ирабжьаигеит ироуа аҵара ахә ҳаракны иршьаларц, апрактикаҿгьы рыжәлари рҳәынҭқарреи рымаҵ аураҿи иахәҭоу ахархәара арҭаларц.

 

Аунивирситет аиубилеи аҟны иқәгылеит Виачеслав Цыгәба, Павел Аӡынба, Гарри Кәпалба, Алиас Лабахәуа, Ҭемыр Гогәуа.

 

“Аҧснытәи аунивирситет аҟны (1979 шықәсанӡа Горкии ихьӡ зхыу Аҟәатәи аҳәынҭпединститут) аҟны аус зухьеит 50-тәи ашықәсқәа раахыс. Арҭ ашықәсқәа зегьы сара аҿар срыгәҭылакыуп. Абарҭқәеи, иара убас аҵарадыррахь исымоу абзиабареи аҭакҧхықәреи иахьанӡа арспубликеи ажәлар рымаҵ ауреи рзы агаҳәара снаҭоит”, - лҳәеит Маргарита Ладариа. Уи иазгәалҭеит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аусзуҩцәа зегьы шазаҳаҵҳаҵо дарбанзаалак астудент итәыла дауаҩытәыҩса иашаны иааӡара.

 

“Сара араҟа еиқәсыҧхьаӡом ҳҵараиурҭа иалгахьоу еицырдыруа иҟалаз ауаа зегьы. Аха рыӡбахә сымҳәар ауам инарылукааша ҳажәлар рхаҭарнакцәа, аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакобеи, раҧхьатәи ҳҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынбеи реиҧш иҟоу”, - лҳәеит Маргарита Ладариа.

 

Аиубилеи хыркәшан аконцерт ала.

 

28.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Акоммунистцәеи Аҧсны Абыргцәа Рхеилаки Сергеи Багаҧшь идырныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра

 

Акоммунистцәеи Аҧсны Абыргцәа Рхеилаки Сергеи Багаҧшь идырныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра.

 

 

“Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳажәлар рхақәиҭреи рхьыҧшымреи рзы шәлагла ду. Аҧсны Акоммунистцәа алхрақәа рылҵшәа гәахәарыла ирыдыркылеит. Ҳара адгылара аҳҭоит аҳәынҭқарра арҕәҕәараҿи, амилаҭтә шәарҭадара аиқәырхареи, аекономикеи, аграртә сектори рыҿиареи, асоциалтә проблемақәа рыӡбареи русхкқәа рҿы шәара шәаҧшьгарақәа”, - рҳәон аиҧылара алахәцәа.

 

Ареспублика Аҧсны Акоммунисттә партиа Ацентр комитет Ахантәаҩы Лев Шамба иазгәеиҭеит,Аҧсны жәлар иахәҭоу аҩаӡараҿы ишрыдыркылаз аҳәынҭқарратә шәразы аҧышәара. “Аҵак ҷыда амоуп, иара убас алхрақәа ирылахәыз жәларбжьаратәи анаҧшцәа зегьы арҭ алхрақәа рыхә ҳаракны иахьыршьаз”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит уи. Акоммунистцәа зегьы рыхьӡала Л.Шамба С.Багаҧшь идиныҳәалеит иааиуа Ашықәс ҿыц изеиҕьеишьеит ақәҿиарақәа дызхагылоу аус ду аҿы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ҭабуп ҳәа ахиҳәааит алхрақәа рхы ахьрыладырхәызи иара убас адгылара изыҟарҵази рзы. “Араҟа зегь реиҳа ихадоу – алхрақәа ҭынч иахьымҩаҧысыз ауп. Ҳара иалҳмыршеит аграждантә еиҿагылара”, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Багаҧшь дрықәшаҳаҭым, амчрақәа ажәлар реидкылара рылымшеит ҳәа зыҧхьаӡо. “Ҳара ахачҳара ааҳарҧшит, ажәлар еиҿазыргылаша ҳәагьы акагьы ҟаҳамҵеит. Ҳара активла агитациа – пропогандатә усура мҩаҧаҳамгеит, иара убас апатреҭқәеи абаннерқәеи шьаҿа цыҧхьаӡа икнаҳамҳаит. Акандидатцәа зегьы иаҧсоу уаауп, аха ажәлар ирыӡбароуп, аҳәынҭқарра анапхгараҭара аҭыҧ аанызкылаша”.

 

“Ҳара аӡәгьы иаҳамҳәеит ҳара ҳзын абжьы шәҭиы ҳәа, ираҳҳәоз алхратә ҭыҧқәа рахь шәнеины шәыбжьы шәҭиы ҳәа акәын. Ҳара ҳаппонентцәа рзы иакәымыз ажәакгьы ҳамҳәеит. Хә-шықәса ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵараны иҟоу аплан анаҩсангьы, ҳажәлар хә-шықәса ирылагӡан иҟаҳҵаз раҳҳәар акәын”, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аполитикатә культуреи аимак-аиҿак акультуреи, акьыҧхь ахь ицәырҵуа аматериалқәа рзы аҭакҧхықәреи рҿиара аҵак ҷыда.

 

Амчрақәа ирыӡбараны рҿаҧхьа иқәгылоу рахьынтә С.Багаҧшь иаликааит абжьаратәии амаҷ бизнеси рыҿиара, аграртә сеқтор (ачаиааглыхра, ацитрусааӡара, ашәырааӡара, аҧсаатәааӡара), ақыҭаҿы ахазхатәы аҧшьгара адгылара аҭара. “Иахьа уадаҩрас иҟоу акызаҵәык ауп, махәҿала аус зуа разымхароуп”, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Иара иажәақәа рыла, 2010 рзы 4,5 миллиард мааҭ рҟынӡа рзоужьтәуп асоциалтә проблемақәа рыӡбаразы, ишьҭыхтәуп атәанчахәқәа, ирыцҵатәуп ауалафахәқәа, зегь раҧхьаӡа иргыланы аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи руалафахәы.”. “Ауаа рҽахьырхәышәтәуа ирзаҧҵатәуп аҭагылазаашьа бзиақәа; иҳамазароуп иахьа ҳаамҭа иақәшәо адиагностикатә мыругақәа; ҳара маҷ-маҷ иҳаӡбароуп арҭ ауснагӡатәқәа зеьы – азгәеиҭеит Багаҧшь. – Иахәҭоу хылаҧшра рыҭатәуп ҳашколқәагьы. Аҿар рҵара ахаҭабзиара еиҕьымтәыкәа ҳара перспектива ҳамаӡам”.

 

С.Багаҧшь адырра ҟаиҵеит, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапаҵаҟа аус шауло  ауаажәларратә дкыларҭа, ишаҧҵахо Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рхеилак. “Ҳара лассы-лассы имҩаҧаҳгалоит апартиақәеи ауаажәларратә ҵысрақәеи рҧыларақәа”, - иҳәеит уи.

 

С.Багаҧшь зегьы ирыдиныҳәалеит Ашықәс Ҿыц аныҳәа, ирзеиҕьеишьеит акәҿиарақәа.

 

23.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аҧсны аиҳабыра Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҭаацәа ирыздәықәырҵеит амандаринақәа

 

Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аҧсны аиҳабыра Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҭаацәа ирыздәықәырҵеит амандаринақәа.

 

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы Зураб Адлеиба ажурналистцәа излареиҳәаз ала, акциа мҩаҧысуеит есышықәса аиҳабыра рсоциалтә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

 

“Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҭаацәа ацхыраара рзыҟарҵоит, ҷыдала 1992-93 шш.рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахьыҧшымреи ахақәиҭреи зхы ақәызҵаз рҭаацәа, - иҳәеит Адлеиба. – Ари асоциалтә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны есышықәса иҭахаз рҭаацәеи рхәҷқәеи рзы аҧхынтә ҧсшьарҭатә лагерқәа рзеиҿкаара анаҩсангьы, Ашықәс ҿыц аламҭалазы ирзаҳашьҭуеит амандаринақәа”.

 

Сынтәа аиҳабыра 3 тоннак амандарина дәықәырҵеит Ҟарачы – Черкессиа, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа. Уаҟа аидара иаҧылоит Аҧсны ахаҭарнакцәа, урҭ машьынала аҩнқәа рахь ирызнаргоит ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа.

 

Ҧхынҷкәын 22 рзы тоннаки бжаки амандарина дәықәҵоуп Чечентәылаҟа- хатәгәаҧхарала еибашьуаз рхәыҷқәа рзы, - иазгәеиҭеит Адлеиба.

 

23.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба иахьа усуҩтә визитла Москваҟа дцеит

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба иахьа усутә визитла Москваҟа дцеит.

 

Шамба адырра злаҟаиҵаз ала, ҧхынҷкәын 24 рзы  Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахада Лавров иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит. Аиҧылара иалахәхоит иара убас ,Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ихьыҧшым атәылақәа реимабзиара атәылақәа рдепартемент адиректор Андреи Келин, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба убас егьырҭгьы.

 

Шамбеи Лаврови рнапы аҵараыҩуеит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра,Урыстәыла Афедерациа аҟны иҟоу Аҧсны адипломатиатә хаҭарнакреи иара убас Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакреи раартра аҧҟарақәа рзы.

 

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь имҩаҧгахоит апресс-конференциа.

 

С.Шамбеи С.Лаврови реиҿцәажәарақәа ирыцҵахоит ҧхынҷқәын 25 рзгьы. Аминистр иазгәеиҭеит, хәҭакахьала араҟа ишырзааҭгылахо, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәарҭеи ацҳаражәҳәаҩ ирезиденциеи рыргылареи, иара убас Москва агәаны иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа ахыбра аренда азҵаареи.

 

“Ҳара иҳагәҭакыуп аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рхырхарҭа хадақәа рылацәажәара”, - иҳәеит Аҧсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Сергеи Шамба.

 

23.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаҧшь аилак Амиссиа аибашьра аамҭақәа рзы хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа аҧсихосоциалтә цхыраара рзыҟаҵаразы апрограмма аларҵәара хацнаркит

Ашықәс ҿыц аламҭалазы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаҧшь аилак Амиссиа ахаҭарнакцәеи “Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Анацәа”Рҵысра анапхгареи реиҧылара. Абри азы адырра ҟалҵеит Аҟәа Ахадара аинформациа аҟәша аиҳабы Мадонна Кәыҵниа.

 

“Ҳара ҳалагоит аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа аҧсихосоциалтә цхыраара рзыҟаҵаразы апрограмма аларҵәара, - лҳәеит Амиссиа ахада Ариан де Робиен. – Ҳара ҳзын ихадоуп Анацәа Рҵысра аус ацура.. Ҳара ҳҽеимадан, ацхыраара зҭахыу аҭаацәа ҳрыхәарц ҳалшоит. Амиссиа ахә ҳаракны иашьоит шәара аус шәыцура. Апрограмма хацыркыуп. Имҩаҧысит асеминар, уажәшьҭа аҧхьаҟа ишьҭоуп аус хьанҭа...”

 

“Иҭахаз рҭаацәа аҧсихосоциалтә цхыраара рзыҟаҵара – иуадаҩу азнеишьа иаша зҭахыу проблемоуп. Ауаа ирдыруазароуп, аибашьра иалаӡыз хашҭшьа шрықәым, рхьааҿы ишаӡәым,урҭ ирыцхраауа, ирыдгыло шырацәаҩу. Ҳара ҳазхиоуп урҭ аморалтә цхыраара рзыҟаҳҵара”, - ҳәа азылыҧхьаӡоит амиссиа акоординатор Хаҭуна Логәуа.

 

Анацәа Рҵысра Ахантәаҩы Гәли Кичба ҭабуп ҳәа ахылҳәааит Аџьар Ҟаҧшь амиссиа аусеицуразы иҟарҵаз ажәалагалазы. Хәҭакахьала уи илҳәеит: “Хабарда ибжьаӡыз – ари ҳара ҳхьаауп. Жәаҳәарада , ҳара ҳазыхиоуп аусшәыцура, аҧсихологиатәи мамзаргьы даҽа цхыраарак зҭахыу аҭаацәа рыҧшаараҿы.Ҳара ҳзын, иара убасгьы  хырҳара алоуп Амиссиа имҩаҧнагаз асеминар алахәхара. Агәыҕра сымоуп, аҧхьаҟатәи ҳусеицура иҭахаз рҭаацәа рзы ицхыраагӡа духап ҳәа. Асасцәа Анацәа Рҵысра ахаҭарнакцәа ирыдырныҳәалеит Иааиуа ашықәс ҿыц, ирзеиҕьаршьеит аҭынчра, агәабзиара, русқәа рыҟны ақәҿиарақәа, иара убасгьы иранаршьеит хә-змоу аҳамҭақәа.

 

17.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа имҩаҧысуеит аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа ибаҟа аартра

 

Ахәаша, ҧхынҷкәын 18 рзы, Аҟәа, Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониа апарк аҟны имҩаҧысуеит аинрал-леитенент Ҳасан Ҳаразиа (1908-1990шш) анышәа дахьамадоу ибаҟа аартра.

 

Аскульптор – Виталии Џьениа

 

Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Ҳасан Ҳаразиа аполк, абригада, адивизиа ркомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Деибашьуан Москва амҵан, Сталинград, Аахыҵ Карелиа рыҟны, дрылахәын Венгриа, Австриа, Чехословакиа афашистцәа рыҟнытә рхы рақәиҭтәра.

 

17.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырраҭара

 

Иахьа имҩаҧысит Ареспубликақәа Аҧсни Науруи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Ареспублика Науру апарламенти апрезиденти Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵаразы аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь, Науру аделегациа зхадараҿы дыҟаз адәныҟатәи аусқәа рминистр Аҧсны иаҭааит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз.

 

Убри алагьы, ООНалахәылацәа рҟынтә, Нару аҧшьбатәи ҳәынҭқарроуп Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵахьоу рахьтә. Аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра ҟаҵан аусхкқәа зегьы рыҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Иаарласны Ареспублика Аҧсны аделегациа Науру иаҭаауеит аинвестициатә проектқәа  рыхәаҧшрази, иара убасгьы Ареспублика Науруи аокеан Ҭынч атәылақәа рыбжьареи аизыҟазаашьақәа рырҿиара апроектқәа рылацәажәареи рзы.

 

15.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара атәылақәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара макьана иазхиам

 

Аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара атәылақәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵаразы аӡбара адкылара макьана иазхиам. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Николаи Бордиужа.

 

“Сара даара исҭахыуп аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳатра Аиҿкаара атәылақәа –алахәцәа Аҧсни ААхыҵ- Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхарҵарацы, Урыстәыла ишыҟанаҵаз еиҧш, - иҳәеит уи. – Аха иарбан ҳәынҭқарразаалак арҭ рҩызцәа аӡбарақәа аднакылароуп иара ахатәгәаҧхарала”. “Сара издыруеит Таџьикистани, Белоруссиеи егьырҭ атәылақәеи ари аҩыза аӡбара зрыдрымкыло амзыз, - иазгәеиҭеит Бордиужа. Урҭ макьана иазхиаӡам”.

 

15.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Шамба аҵак ҷыда аиҭоит ООН алахәыла атәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларa

 

Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба аҵак ҷыда аиҭоит ООН алахәыла атәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. “Иҟоуп азхаҵаразы еиуеиҧшым аформақәа. Еиҳа иаларҵәоу – адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылароуп. Иҟоуп даҽакгьы, наҟ-ааҟ азхаҵаразы ааҧхьарақәа аныҟаҵахо. Убри инамаданы, исҳәарц исҭахыу, иахьатәи ахҭыс ҳхәынҭқаррақәа наҟ-ааҟ разхаҵароуп иаанаго”, - ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба.
 

Иара иажәақәа рыла “Науру Аокеан Ҭынч аҳәынҭқаррақәа рыҟны аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәыргыланы иамоуп”. Апатын Кеке агәра сиргеит, арегион егьырҭ атәылақәа рыҟны иақәнагоу аусрақәа шымҩаҧырго ала,ҳтәыла ахьыҧшымра азхаҵаразы. Ари ҳара ҳзын даара ихадоуп”, - азгәеиҭеит Шамба.
 

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит “идипломатиатә биографиаҟны насыҧс  ишимаз адунеи аҟны зегь иреиҳау атәыла – Урыстәыла аҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, иахьа зегьы иреиҵоу Ареспублика – Науру аҟны”. “Ари адиапазон аҟны ҳара ҳабжьаратәы ҳхы аабоит”, - иҳәеит Шамба.

 

15.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Ареспублика Науруи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

 

Аҧсни Ареспублика Науруи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ашәҟәы анапаҵаҩра мҩаҧысуан Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны. Уи иалахәын Аҧсны анапхгара зегьы.

 

Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Науру адәныҟатәи аусқәеи, ахәҳахәҭреи афинансқәеи рминистр Кирен Кеке.
 

Анапаҵаҩра ацеремониа ашьҭахь, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит “Иахьа Аҧсны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьышьақәнаргыло атәылаҟны шаҟаҩ аланхо акәӡам араҟа ихадоу”. “Науру – ООН иалахәылоуп, ҳара раҧхьаӡа акәны, араҟа Аҧсны ҳнапы аҵаҳаҩуеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра”, - ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит С.Багаҧшь. Ари иара иажәақәа рыла “шьаҿа дууп”.

 

“Ҳхьыҧшымра азхаҵараҿы ҳара ҳнапы ианугьы рацәоуп. Ари апроцесс агәахәара унаҭоит, уи жәаҳәарада иацҵахоит”, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.

 

Науру адәныҟатәи аусқәеи, ахәҳахәҭреи, афинансқәеи рминистр Кирен Кеке  ишазгәеиҭаз ала “ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы ицхыраагӡахоит”.
 

“Сара сақәгәыҕуеит, егьырҭ атәылақәагьы ҳара иаҳҿыҧшны, Аҧсны ахьыҧшымра азхарҵап ҳәа”,-ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Кирен Кеке адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь.
 

Кеке иазгәеиҭеит, ҩымш аделегациа Аҧсны рыҟазаара иалагӡаны,  рылала ишырбаз иахьа араҟа имҩаҧысуа ахҭысқәа, 1992-1993 шш. аибашьра аамҭақәа рзы атәыла иахнагаз”. Ари Аҧсны ахьыҧшымреи асуверинитети рҭоурыхтәи риуристтәи мзызқәа еиҳа еилыкка иунарбоит”, - иҳәеит Кеке.
 

“Аҧсни Науруи географиала ишеицәыхароугьы, арҭ аҩ-тәылак рыбжьара еизааигәоу аизыҟазаашьақәа шьақәгылап ҳәа” дшақәгәыҕуа азгәеиҭеит Кирен Кеке.

 

15.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика Аҧсны Ацентртә алхратә комиссиа аихшьалақәа

 

Алхырҭатә ҭыҧ хадақәа ркомиссиақәа рыҧкаанҵақәа рышьаҭала, Аҧсны Ацентртә алхратә комиссиа ишьақәнаргылеит, алхратә сиақәа ирныз Ареспублика атәылауаа рхыҧхьаӡара 138.447 – ҩыуаак шыҟаз. Абжьыҭира зҽалазырхәыз алхыҩцәа рхыҧхьаӡара наӡоит – 107.756. Акандидатцәа зегьы мап рцәыркит – 1.893 –ҩыуаак.

 

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа иажәақәа рыла, С.Багаҧшь алхрақәа рыҟны 61,16 % иоуит. Иара изын рыбжьқәа рҭиит 62.231 ҩыуаак алхыҩцәа.

 

Заур Арӡынба изын рыбжьы рҭиит 9.296 –ҩыуаак алхыҩцәа мамзаргьы 9,14%;

 

Виталии Бганба изы 1.326 ҩыуаак мамзаргьы 1,30%;

 

Беслан Быҭәба изы 8.395 ҩыуаак алхыҩцәа мамзаргьы 8,25 %;

 

Рауль Ҳаџьымба 15.584 –ҩыуаак мамзаргьы 15,32 %.

 

Алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа рхыҧхьаӡара 73% артәоит.

 

Ацентртә алхратә комиссиа Ахада русура ахә ҳаракны ишьеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи ажурналистцәеи.

 

15.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра апресс-маҵзура

 

Ҧхынҷкәын 14 рзы имҩаҧысит Аҧсны адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Науру аделегациеи реиҧылара. Аделегациа напхгара азиуан Науру Адәныҟатәи аусқәеи, ахәҳахәҭреи афинансқәеи рминистр Кирена Кеке. Аделегациа аилазаараҿы иҟан: Ареспублика Науру Апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Л. Деирерагеиа, Науру Апарламент абиуџьеттә еилакы Ахантәаҩы Р.Соломон, Науру адәныҟатәи Аусқәа рминистр иабжьагаҩ Б.Санде, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ихьыҧшым атәылақәа реимабзиара 4 Адепартамент ахҧатәи амаӡаныҟәгаҩ Богданов Д.В.; Аокеан Ҭынчтәи арегион атәылақәа рдепартамент ахҧатәи амаӡаныҟәгаҩ Солодов Д.А.

 

С.Шамба аделегациа идкыло иазгәеиҭеит ари авизит аҵак ҷыда. Аминистр иажәақәа рыла, Аҧсны аҽазҵәылхны иашьҭоуп адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьы рыҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, уи аусеицуразы иаартуп. “Ҳара ҳазханаҵеит зегь иреиҳау атәыла, уажәшьҭа ҳазхиоуп Адгьыл аҟны зегьы иреиҵоу атәылаҟны апартниортә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҵара”.

 

“Ҳара гәҭакыс иҳамоуп азинтә адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара. Аха, ареспублика азхаҵара азҵаараҟны анырра ҟарҵоит азеиҧш политикатә процессқәа иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәа ракәымкәа,” – иҳәеит Шамба.
 

Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистр апатын Кеке, аделегациа зегьы рыхьӡала ҭабуп ҳәа ахиҳәааит иаадырҧшыз аҧхарра зҵоу асасдкыларазы. Кеке иажәақәа рыла, Науру аиҳабыра Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа ирызҿлымҳауп. Аҭагылазаашьа инарҵауланы ианҭырҵаа, урҭ ирыӡбеит ари атәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Убри инамаданы, ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аҧсныҟа амҩа иқәлеит. “Ҳара зегь реиҳа цхыраара дуны иҳалшо, - шәхьыҧшымра азхаҵареи,иара убас адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи роуп”. – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Кеке. Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистр дшазхиоу иҳәеит аокен Ҭынч агәларатә ҳәынҭқаррақәа рыҟны Аҧсны апроблемақәа рылацәажәара.
 

С.Шамба иазгәеиҭеит, Аҧсны ахьыҧшымра ахьазхаҵам иинамаданы, адәныҟаполитикатә аренаҟны ареспублика аинтересқәа шахьчо Урыстәыла Афедерациа. Аокеан Ҭынч арегион ареспубликақәа рыҟны Аҧсны аинтересқәа Науру иахьчо аҭагылазаашьа аҟалара, Аҧсназы даара акыршаҵанакуа.
 

Аделегациа даҽазныкгьы рысасдкылашьа ҭабуп ҳәа ахҳәаауа, ирҳәеит агәыҕра шрымоу аҧхьаҟатәи аусеицуразы. Асасцәа ирҳәеит Науру ишырзыҧшыу Аҧснынтә аделегациа.
 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз С.Шамба асасцәа ириҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит иаадырҧшыз агәцаракреи адгылареи рзы.

 

14.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшьи Алеқсандр Анқәаби ашәҭқәа шьҭарҵеит Лаҭатәи атрагедаҟны иҭархаз рбаҟа аҿаҧхьа

 

Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи уи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаби ашәҭқәа шьҭарҵеит Лаҭатәи атрагедиаҟны иҭархаз рбаҟа аҿаҧхьа.

 

17 шықәса раҧхьа, ҧхынҷқәын 14, 1992 шықәса рзы ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан Гәылрыҧшь араион Лаҭа ақыҭан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа икарыжьит  Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа иҧыруаз урыстәылатәи аҳаирплан. Уаҟа иҭархан 84-ҩыуаак. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны 35-ҩыуаак ахәыҷқәа. Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рыбжьара иҟан 8-ҩыуаак зцәа зтәымыз аҳәса. Иҭрхаз рыҧсыбаҩқәа амадоуп Гәдоуҭа ақалақь аҟны.

 

14.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Адәныҟатәи аусқәа рхада еиҭеиҳәеит Аҧсны алхрақәа жәларбжьаратәи ацклаҧшреи ареспублика анҭыҵ алхыҩцәа рыбжьыҭира аиҿкаареи ртәы

 

“Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ҳара ҳзын процесс хадоуп, ҳара ҳазҿлымҳауп арҭ алхрақәа агәларатә ҳәынҭқаррақәа рзы иҿырҧшы бзиахарц”. Абри атәы иҳәеит Жәларбжьаратәи апресс-центр апресс-конференциаҟны Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба
 

Аминистр аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит 2004 шықәсазтәи алхрақәа ртәы. “Усҟан, акыр ҽазышәара ашьҭахь, аҳәынҭқарра амчрахь инеиит аоппозициа. Ас еиҧш аҿырҧшқәа агәларатә ҳәынҭқаррақәа рыҟны иаҳбаӡом. “
 

“Аҧсны жәлар ирҭахыуп адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара, ҳ-Конституциаҟны ишазгәаҭоу еиҧш”.
 

Жәларбжьаратәи апресс-центр аартра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада иажәақәа рыла, уигьы шаҳаҭра ауеит, ареспубликаҟны ишаҧҵоу аҭагылазаашьақәа зегьы алхрақәа ламысцқьала еилыкка рымҩаҧгаразы. Аминистр , иара убас иазгәеиҭеит Аҧсны алхрақәа Мрагыларатәи атәылақәа разҿлымҳара атәы. “Мрагылареи Евроеидгылеи ҳхьыҧшымра шрыдрымкылоугьы, хәҷ-хәҷы урҭ ҳаша рзыҟазаашьа рыҧсахуеит”, - иҳәеит уи.
 

Шамба иара убас иҳәеит, Аҧсны алхрақәа рахь ишааз Мрагылара атәылақәа рыҟнытә ажурналистцәа рацәаҩны, урҭ рыбжьара иҟоуп арахь раара алхрақәа ишрыдҳәалоу зҵәахуагьы. “Аха, ҳара ибзианы иаадыруеит, урҭ Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыцклаҧшразы шакәу”, - иазгәеиҭеит аминистр.
 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирыцклаҧшуеит 21 тәыла рыҟнытә 83 жәларбжьаратәи анаҧшцәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны Австиа, Белорусиа, Болгариа, Германиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Литва, Польша, Приднестровиа, Молдавиа, Сербиа, Словакиа, Америка Еидҵоу Аштатқәа, Таџьикисҭан, Туркменисҭан, Украина, Финлиандиа, Франциа, Чехиа, Швеицариа, Аахыҵ Уаҧстәыла.
 

Шамба иажәақәа рыла, анаҧшцәа рыбжьара иҟоуп – жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа 17 ҩыуаак, Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара ахаҭарнакцәа – 18 ҩыуаак, Европа атәылақәеи Америка Еидҵоу Аштатқәеи рыҟнытә 23 –ҩыуаак, Кавказ иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыҟнытә 25 ҩыуаак ахаҭарнакцәа.
 

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы адырра злаҟаиҵаз ала, Никарагәуеи Венесуелеи рыҟнытә анаҧшцәа аауеит.
 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаҧысуеит асабша, ҧхынҷкәын 12 рзы.Аҳәынҭқарра Ахадарахьы кандидатцәас иқәгылоуп – Сергеи Багаҧшь, Рауль Ҳаџьымба, Виталии Бганба, Заур Арӡынба, Беслан Быҭәба.

 

10.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылахәхоит 131 000 нызқьҩыуаак

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылахәхоит 131 000 нызқьҩыуаак. Ареспубликаҟны еиҿкаауп 35 округи 174 алхырҭатә ҭыҧқәеи. Абри атәы иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа Ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны.
 

Иара иажәақәа рыла, Кәыдры аиҩхааҿы алхырҭатә ҭыҧ еиҿкаауп Гәылрыҧшь араион Лаҭа ақыҭан.
 

Аҟәа араион ашьха-қыҭа Ҧсҳәыҟа алхратә биуллитенқәа дәықәҵахоит ҳаир-транспортла уаҵәы, ҧхынҷкәын 11 рзы. Ари ақыҭаҟны абжьыҭира азин рымоуп 100 – ҩыуаак.
 

Ацентртә алхратә комиссиа Ахантәаҩы аҭыҧантәии аҳәаанырцәтәии ажурналистцәа идирдырит Аҳәынҭқарра Ахадахьы акандидатцәа рзы аинформациеи, абиуллитенқәа рформеи.
 

Аҧсны анҭыҵ иҟоу алхырҭатә ҭыҧқәа рахь ишьҭыуп 7 нызқь биуллитен: 4000-Москваҟа, 3000 – Черкесскҟа.

 

10.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика Аҧсны анҭыҵ иаартыуп алхырҭатә ҭыҧқәа

 

Москва иаартыуп Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыҧ №4. Алхырҭатә ҭыҧ ыҟоуп абри адрес ала: Шаболовскаиа аметро, Донскаиа амҩаду 18/7,1 аргылара. Аҧсны атәылауаа алхрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рзы идҵааларц рылшоит алхырҭатә ҭыҧ аҟни, мамзаргьы абарҭ аҭелқәа рылеи (495) 982-39-34, 982-39-33. Алхырҭатә ҭыҧ аартыуп ашьыжь асааҭ 10.00 инаркны 18.00 сааҭ рҟынӡа.
 

Иара убас алхырҭатә ҭыҧ аартыуп Черкесск ақалақь аҟны Ленин ипроспект, 54 адрес ала.

 

09.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адырраҭара

 

Гал ақалақь аҟны имҩаҧысит ахҭысқәа раҧырҟәҟәаареи анырра рзыҟаҵареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧсуа, ақырҭуа, аурыс ганқәеи, иара убас Евроеидгылеи, ООН-и рхаҭарнакцәа злахәыз хә-ганктәи аиҧылара.

 

Аҧсуа ганахьала аиҧылара иалахәын: Гал араион аҟны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Руслан Кьышьмариа, Аҧсны атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агрба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура ахаҭарнак Георгии Думаа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә ҟәша аусзуҩы Наталиа Арлан.
 

Аиҧылараҟны аҧсуа делегациа ишьҭырхит Аҧсны атерриториа иахаҧыруа аҧрыгатә аппаратқәа рызҵаара. Гарри Кәпалба иазгәеиҭеит, Аҧсны атерриториаҟны ишыҧыруа ,аинформациа еизызго аҧрыгатә аппаратқәа. Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ иажәақәа рыла, ари азҵаара аҧсуа ган изныкымкәа Женевеи иара убас хә-ганктәи аиҧыларақәеи рҿы ишышьҭырххьоу, аха иахьа уажәраанӡа лыҵшәа шамам.
 

“2008 шықәса, ааҧынразы, изныкымкәа иҟаҳҵахьаз аҳәамҭақәа рышьҭахь, урҭ каҳмыжьыр ада ҧсыхәа ҟамлеит. Уажәы ус еиҧш аҳәамҭақәа ҟаҳҵом, аха ари апроблема ӡбатәуп”, - азгәеиҭеит Кәпалба. Ақырҭуа ган иааҟәмҵӡакәа ишьақәнарҕәҕәоит, арҭ аҧрыгатә аппаратқәа Қырҭтәыла ишатәым ала.
 

Аҧсуа ган аиҧылараҟны еиҭашьҭнахит  Амшын Еиқәа анеитралтә ӡқәа рыҟны ақырҭуа ҳәаахьчаҩцәа иааныркылаз аҕба “Букет” аргьежьра азҵаара. Амшынтә хҭысқәа ирзааҭгыло, аҧсуа ган инақәырҕәҕәаны аҳәамҭа ҟарҵеит аҕбеи аидареи рыргьежьразы.
 

Ақырҭуа ган ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит, Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рминистррақәа рхаҭарнакцәа рыҩаӡара аҟынӡа ишымҩаҧысыз аиҧылара, уаҟа аганқәа имҩаҧыргеит абжьгарақәа ас еиҧш ахҭысқәа раҧырҟәҟәааразы. Аха апатын Утиашвили иажәақәа рыла, ақырҭуа ган аҕбеи аидареи рыргьежьра азҵаара иаламцәажәаӡеит.
 

Кьышьмариа иажәақәа рыла, ас еиҧш аҭагылазаашьа аганқәа рыбжьара агәреибамгара рыбжьанаҵоит, аҧхьаҟагьы Аҧсны хазы иаӡбалоит Аҟәатәи абаҕәазахь иаауа аидарақәеи, мамзаргьы арантә идәықәҵахои ршәарҭадара аиқәыршәара азҵаара.

 

09.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла атерриториаҟны иаартыу алхырҭа ҭыҧқәа

 

Ҧхынҷкәын 12 рзы имҩаҧысуеит Аҧсны Ахәынҭқарра Ахада иалхрақәа. Ареспублика анҭыҵ инхо Аҧсны атәылауаа Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәа рыбжьы рырҭартә еиҧш аҭагылазаашьа роуеит Урыстәыла Афедерациа атерриториаҟны иаартыу алхырҭа ҭыҧқәа: Москвеи Ҟарачы-Черкессиа аҳҭны-қалақь Черкесски рыҟны.

 

4 нызқьҩыуаак инарзынаҧшуа Аҧсны атәылауаа рыбжьы рҭиуеит Москва. Абри азы адырра ҟаиҵеит Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба. Уажәтәи алхрақәа аҧасатәиқәа изларылукааша  - Аҧсны аҭоурых аҟны раҧхьаӡа акәны абжьыҭира мҩаҧысуеит ареспублика анҭыҵгьы. “Ас еиҧш аҭагылазаашьа ҟалеит Аҧсны ахьыҧшымра Урыстәыла Афедерациа ианазханаҵа ашьҭахь. Иаҧҵоуп аҭагылазаашьақәа зегьы, ареспублика Аҧсны атәылауаа абжьыҭира рхы аладырхәразы. Урҭ мҩаҧысуеит жәларбжьаратәи анормақәа инарықәыршәаны.

 

Аҵхаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа ахиҳәааит алхрақәа реиҿкаараҿы ацхыраара ҟазҵаз Урыстәыла А федерациа ацентртә алхратә комиссиеи, Москватәи алхырҭатә комиссиеи, Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрреи.

 

Москва алхырҭатә ҭыҧ аартхоит Донскаиа амҩаду, 18/7 аҟны. Алхрақәа мҩаҧысуеит асааҭ 08,00 инаркны 20.00 сааҭ рҟынӡа.

 

Москва алхырҭатә ҭыҧ акомиссиа ахантәаҩы Олег Барцыц адырра злаҟаиҵаз ала,”Урыстәыла Афедерациа аҳҭны-қалақь алхырҭатә ҭыҧ аҟны ашәарҭадара иахылаҧшуеит ареспублика Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аусзуҩцәа”. Ареспублика Аҧсны атәылауаҩ ипаспорт ихадоу документуп алхыҩцәа абжьыҭирахь рынашьҭразы. Алхырҭатә ҭыҧ №4 акомиссиа аилазаара иалоуп Урыстәыла иҟоу ареспублика Аҧсны адипломатиатә миссиа аусзуҩцәеи, иара убас москватәи аҧсуаа реидгылеи.

 

Ас еиҧш алхырҭатә ҭыҧ аартхоит иара убас Черкесск ақалақь Ахадараҟны. Алхрақәа мҩаҧысуеит асааҭ 08.00 инаркны 20.00 сааҭ рҟынӡа.

 

Урыстәыла Афедерациаҿ иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭахьи Черкесск иҟоу ареспублика ахаҭарнакрахьи идәықәҵахоит Аҧсны атәылауаа абжьыҭиразы азин зларымоу ииашоу апаспорт аҿырҧшы.

 

08.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳазатә шәатәқәа рзы ашықәстәи аплан 8 мил. мааҭ рыла иацҵаны инанагӡеит

 

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Саид Ҭаркьыл адырра злаҟаиҵаз ала, аҳазалхратә усбарҭақәа  планла ирзарбаз 367 миллион мааҭ рцымхәрас, аҳазатә шәатәқәа 375, 6 миллион мааҭ ахырыҧхьаӡалеит. Ари ҵыҧхтәи ашықәс иаҿҳарҧшуазар, 69,5 миллион мааҭ рыла еиҳауп. Саид Ҭаркьыл иажәақәа рыла, иҳаракыуп иара убас ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ралгаразы аҟаҵарбақәа..

 

Иахьазы ареспублика аҟынтә иалгоуп 5 894 670 килограмм ацитрусқәа, ҵыҧхтәи ашықәс иаҿҳарҧшуазар 574 тонна рыла еиҳауп; ахәрма 1 857 319 килограмм алгоуп (ҵыҧх аасҭа 31 тонна рыла еиҳауп); афеихоа акәзар 610 616 килограмм алгоуп (207 тонна рыла еиҳауп ҵыҧх аасҭа).

 

07.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика Аҧсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Апаспорттә-визатә маҵзура анапхгаҩы ипресс-конференциа

 

“90 процент ареспублика ауааҧсыра ироуит ареспублика Аҧсны атәылауаҩ ипаспорт”, - ҳәа адырра ҟаиҵеит Ареспублика аҧсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Апаспорттә-визатә маҵзура аиҳабы апресс-конференциаҟны.

 

Иара иажәақәа рыла, иахьазы 146 121 Аҧсны атәылауаҩ ипаспорт рнапаҟны ирыҭоуп. Ахаҭара шьақәзырҕәҕәо адокумент хада, Аҧсны инхо 85 милаҭ рхаҭарнакцәа ирыҭоуп. Апаспорт зоухьоу рхыҧхьаӡараҟны: 73 622 – аҧсуаа; 32 363- аерманцәа; 177 95 – аурысқәа, 12 156 – ақырҭқәа, 2 430 – аукаинцәа, 1500 – абырзенқәа, 2 138 – абазақәа.

 

Апаспорттә-визатә маҵзура анапхгаҩы ишьақирҕәҕәеит 9 910 паспорт 18 шықәса зхымҵыц ишрыҭоу, иара убас ареспублика анҭыҵ инхо, рынхарҭа ҭыҧ амырбакәа апаспортқәа зоухьоу рхыҧхьаӡара 5 759-ҩыуаак ашартәо.
Уаанӡа Апаспорттә-визатә маҵзура иақәнагаз хыбрала иахьеиқәшәамзи, иара убас атехникатә машәыри ирыхҟьаны 8 620 бланк бжьысит. Урҭ аиҳабыратә комиссиа алархәны ашәҟәы иҭагалоуп, ақҭ рықәҟаҵаны, аҵәахырҭахь ишьҭаҵоуп. Малиа иажәақәа рыла зынӡа 365 нызқь паспорт азырхиан.

 

2003 шықәса рзы аҭыҧ змаз ахҭыс инамаданы, иҧсахын ареспублика атәылауаҩ идокумент хада. Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа апаспортқәа аазгоз аҕба ақырҭуа ҳәаахьчаҩцәа ирҳәынҷеит. 25 нызқь бланк ақырҭуа мчрақәа рнапаҟны иҟалеит. “Убри ахҭыс ашьҭахь, Аҧсны анапхгара аӡбара рыдыркылеит апаспорт абланкқәа рыҟны аҧсахрақәа ралагаларазы. Хәҭақахьала, актәи апартиаҟны, апаспорт аномер ҟаҧшьыла ианызҭгьы анаҩстәи апартиақәа иаҵәаҧшшәыла икьыҧхьын. Иара убас иҳаҧсахит ашрифт”, - ишьақирҕәҕәеит Малиа.

 

Амаҵзура анапхгаҩы иара бас иазгәеиҭеит, Урыстәфла Афедерациаҟны иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭахьи, Черкесск иҟоу Аҧсны ахаҭарнакрахьи ишдәықәҵоу ииашоу апаспортқәа рҿырҧшқәа, ареспублика анҭыҵ инхо Аҧсны атәылауаа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны абжьыҭиразы азин зларымоу.

 

06.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны азҿлымҳауп НАТО-и Еидҵоу Америкатәи Аштатқәеи уиаҟара ирхьыҧшым атәылақәа рыҟны аимадарақәа рыбжьаҵара

 

Аҧсны азҿлымҳауп НАТО-и Еидҵоу Америкатәи Аштатқәеи ирхьыҧшым атәылақәа рыҟны аимадарақәа рыбжьаҵара, урҭ ибзианы еилыркаауеит аҧсуа жәлар ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы рықәҧара. “Еидҵоу Америкатәи Аштатқәеи Евроеидгылеи ҳтәыла ахьыҧшымра азхаҵара иахьынӡарылшо ала иаҧышькласуеит. Убри инамаданы, ҳара иҳаҧшаауеит НАТО-и Еидҵоу Америкатәи Аштатқәеи ирхьыҧшым атәылақәа”, - иҳәеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамба,  Аҧсны атәыла анапхгара Еквадор ашҟа ахьыҧшымра азхаҵаразы иҟарҵаз аҳәара ахҳәаа азыҟаҵо.

 

“Апрезидент Рафаель Корреа Дельгадо, Еквадор азхиоуп Аҧсны ахьыҧшымра азҵаара ахәаҧшра ҳәа Москва апресс-конференциаҟны ианиҳәа ашьҭахь, ҳара иаарласны Аҳәынҭқарра Ахадеи Адәныҟатәи Аусқәа рминистрреи рыхьӡала ари атәыла ашҟа аофициалтә шәҟәқәа иҭаны ҳхаҭарнак ддәықәаҳҵеит”, иҳәеит Шамба.
Шамба иажәақәа рыла, Еквадор Аҧсны иҟанаҵаз аҳәара иахәаҧшит. Иара убас уи иазгәеиҭеит, Еквадор иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа русура атәы, Аҧсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара анапы зҵаҩу Амеморандум инақәыршәаны, урҭ ацхыраара ду ҟарҵеит  азыҟаҵаратә усурақәа рымҩаҧгараҿы.

 

Иахьазы Еквадор иҟоуп Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа зхараҿы дыҟоу аделегациа.

 

“Ҳхаҭарнакцәа, ҭеллеи електронтә ҧошьҭалеи иаарыцҳауеит Аҧсны ашҟа азҿлымҳара шаадырҧшуа Еквадор еиуеиҧшым аполитикцәеи абизнес знапы алакыуи.  Аҧсны ахьыҧшымра азҵаара акәзар, иахәаҧшуеит апрезидент иусбарҭеи Апарламенти рыҟны”, - иазгәеиҭеит Шамба. Апарламент аҟны, Шамба иажәақәа рыла “иҟоуп узықәгәыҕша агарантиақәа”, - иҳәеит Шамба.

 

04.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәаахьчаратә шхәақәа “Мангусти” “Соболи” Очамчыра иҟалоит

 

Аҧсны амшынтә ҳәаақәа рыхьчаразы ишьақәгылоу адивизиа аилазаара аҟынтә раҧхьатәи аҳәаахьчаратә шхәақәа хҧа ареспубликахь иаауеит ашәахьаҽны, ҧхынҷкәын 7 рзы. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ аподполковник Олег Фролов. Иара иажәақәа рыла “арҭ иҿыцӡоу ашхәақәа “Мангусти” “Соболи” рпроект ауп.

 

“Аҳәаахьчаратә шхәақәа Аҧсны ашынтә ҳәаақәа ишахәҭоу еиҧш рыхьчареи, иара убас аҧсуа баҕәазахь иӡхыҵуа аҕбақәеи ршәарҭадара еиқәнаршәоит”, - иҳәеит Олег Фролов.

 

Аҳәаахьчаратә шхәақәа ӡхгылоит Очамчыратәи абаҕәазаҟны. Ари абаҕәазаҟны иахьазы иаҧҵахоит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа анапаҵаҟа иҟоу аҕбақәа зегьы рӡыхгыларҭа.

 

“Аҧсны амшынтә ҳәаақәа рыхьчаразы “Соболи” “Мангусти” рпоект ала  иазоужьхоит ахьчаратә шхәақәа 10 рҟынӡа”.

 

04.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика анҭыҵ иҟоу Аҧсны атәылауаа рыбжьы рҭиырц рылшоит Москва мамзаргьы Черкесск – Ацентртә алхратә комиссиа

 

Ареспублика Аҧсны Апарламент алхратә закуан иаланагалаз аҧсахрақәа ирыбзоураны, Ароеспублика анҭыҵ иҟоу Аҧсны атәылауаа рыбжьы рҭиырц рылшоит Москва мамзаргьы Черкесск. Абри азы адырра ҟаиҵеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа апресс-конференциаҟны.

 

Аилагарақәеи, мамзаргьы ҩынтә абжьыҭиреи ралмыршаразы, Ацентртә алхратә комиссиа ахаҭарнакцәа ҭелла мамзаргьы факсла Аҟәа Ацентртә алхратә комиссиахь иаарыцҳалоит зыбжьы зҭиыз рыхьыӡкәеи рыжәлақәеи. Араҟа Ацентртә алхратә комиссиа алахәцәа ироуыз аинформациа инақәыршәаны, асиа хада аҟны иадырбалоит. “Ари зегьы мҩаҧысуеит анаҧшцәа рахылаҧшрала. Аштабқәа ирызнагахоит аҳәаанхыҵ зыбжьы зҭиыз алхыҩцәа рсиа ахҩылаа”, - иҳәеит Б.Табаҕәуа. Уи ажурналистцәа адырра риҭеит, ацентртә алхратә комиссиа ишаднакыло аштабқәа зегьы рыҟнытә ажәалагалақәеи ашшыҧхьыӡкәеи. Убас аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәа Рауль Ҳаџьымбеи Заур Арзынбеи рштабқәа еицаздырхиеи алхратә кампаниа амҩаҧгашьазы ажәалагалақәа 21 рҟынӡа”, - иҳәеит уи.

 

Табаҕәуа иазгәеиҭеит, арҭ амшқәа рзы Ацентртә алхратә комиссиа ишазнархиоу абжьыҭиразы абиуллитенқәа. Уи ишьақәирҕәҕәеит, ареспублика анҭыҵ Москваҟеи Черкесскҟеи ишдәықәҵахо 3 нызқь биуллитен инарзынаҧшуа.

 

Ацентртә алхратә комиссиа Ахантәаҩы иазгәеиҭеит абжьыҭираз абиуллитенқәа алхырҭатә ҭыҧқәа рҟынтә рдәылгаразы аҭагылазаашьа шыҟамло.

 

“Ҳара ҳхықәкы – Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәеи, урҭ рхаҭыҧуааи, иара убас ралхыҩцәеи алхрақәа ииашаны, ламысцқьала, еилыхха ишымҩаҧысыз агәра дыргароуп”.

 

03.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Приднестровиа-Молдавиатәи Арееспублика Ацентртә алхратә комиссиа аделегациа Аҧсны иаауеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыцклаҧшразы

 

Приднестровиа-Молдавиатәи Арееспублика ацентртә алхратә комиссиа аделегациа Аҧсны иаауеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыцклаҧшразы.

 

Приднестровиатәи анаҧшцәа Аҧсны Ахада иалхрақәа ралархәра мҩаҧысуеит,иҳаҩсыз ашықәс азы Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ралхратә комиссиа рхаҭарнакцәа аус рыцуразы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Приднестровиа алхырҭатә усбарҭа хада ахантәаҩы иажәақәа рыла, Приднестровиа-Молдавиатәи  Алхратә комиссиа хада иара убасгьы Урыстәыла, Украина, Белоруссиа, Ашьхатә Ҟарабахынтә рколлегацәеи русеицура адгылара арҭоит.

 

02.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ареспублика Аҧсны Аәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырраҭара

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Латинтәи Америка атәылақәа рахь рвизит иацырҵоит.

 

Аҧсны аделегациа алахәын Урыстәыла акәльтура Амшқәа Еквадор аартра ацеремониа, уи мҩаҧысуан Кито ижәытәӡоу аунивирситет аҟны. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа асацәа рҿаҧхьа дықәгыло иазгәеиҭеит, Аҧсни Еквадори рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҵак ҷыда. Еквадор аунивирситет азхиоуп Аҧснытәи астудентцәа адкылареи, иара убас Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә унивирситет аҟны аусеицура абжьаҵареи.

 

Ҧхынҷкәын 1 азы имҩаҧысит М.Ҕәнџьиеи Ареспублика Еквадор адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Л.Арисагои реиҧылара. Аиҧылара иара убас далахәын Еквадор Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Европа адепартамент адиректор П.Вильиагомес. Ҕәнџьиа еиҭеиҳәеит Аҧсны ахьыҧшымра аҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи, ареспублика иахьатәи аҭагылазаашьеи, аҿиара аперспективақәеи.

 

Ареспублика Аҧсны Еквадор ашҟа иҟанаҵаз азхаҵаразы официалтә ааҧхьара иҭҵааны иахәаҧштшуп - ҳәа азгәарҭеит Еквадор Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҟны.

 

Л.Арисагои М.Ҕәнџьиеи иара убасгьы иалацәажәеит ҩ-тәылак рыбжьара  аекономикатә усеицура азҵаатәқәа.

 

Ҧхынҷкәын 2 рзы Кито имҩаҧысит Еквадор Ареспублика Апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ апатын Пансан иҧылара. Еквадор апарламент ажәалагала ҟанаҵеит апарламентбжьаратә усеицура  абжьаҵарази, иара убас Аҧсни Еквадори рбизнес-уаа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы.

 

02.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырраҭара

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра  аделегациа Латинтәи Америка атәылақәа рахь рвизит хацдыркит. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәынџьиеи, аҧкаанҵатә маҵзура аиҳабы Асида Инаҧшьбеи.

 

Венасуелеи Еквадори рыҟазаара иалагӡаны ирҭаауеит арҭ атәылақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәеи, иара убас Аиҿкаара АЛЬБЕИ.

 

Аҧсуа дипломатцәа, иара убас ирыгәҭакыуп Венесуела Ацентртә алхратә комиссиа аделегациа ааҧхьара рырҭарц Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыцклаҧшразы.

 

01.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла Афедерациа Ауаажәларратә палата аделегациа Аҧсны иаҭаауеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыцклаҧшразы

 

Ареспублика Аҧсны Ауаажәларратә Палатаҟны имҩаҧысит Урыстәыла Афедерациа Ауаажәларратә палата алахәылеи , алхыҩцәа рзинқәа рыхьчаразы Икоомерциатәым аиҿкаара “Ауаажәларратә хлаҧшра” ацхантәаҩ Алеқсандр Броди, адемократиа апроблемақәеи аҭҵаарақәеи Рфонд адиреқтор Мақсим Григориеви, азинхьчаратә еиҿкаара “Ауаҩи азакәани” Краснодартәи арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Михаил Трусови реиҧылара. Аиҧылара иалахәын Ареспублика Аҧсны Ауаажәларратә Палата алахәцәеи, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи, ауаҩы изинқәеи азакәанра ахылаҧшреи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Баҭал Кобахиеи, Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуеи, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны ауаҩы изинқәа рзы аҭакзыҧхықәу Георгии Оҭырбеи. Аиҧылараҟны ирылацәажәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы алхратә кампаниа ацашьеи, иара убас Аҧсны Ауаажәларратә Палатеи Урыстәыла Ауаажәларратә Палатеи аҧхьаҟатәи русеицура аплан. А.Брод иазгәеиҭеит, ҧхынҷкәын 11 инаркны ҧхынҷкәын 13-нӡа Урыстәыла Ауаажәларратә Палата аделегациа Аҧсны ишаҭаауа, алхрақәа рымҩаҧысшьа ацклаҧшразы, иара убас иҭырҵаауеит ауааҧсыра алхрақәа рҟны рзинқәа рҭагылазаашьа. А.Брод иара убас иазгәеиҭеит, Урыстәыла Афедерациа шазҿлымҳау Ареспублика ҭынч иҿиаларц, насгьы Урыстәыла Ауаажәларратә палата  ахә ҳаракны ишыршьо Аҧснытәи рколлегацәа аус рыцура.

 

Анаҩс уи дырзааҭгылеит аҧхьаҟатәи апланқәа: анаҧшцәеи, ажурналистцәеи, аиуристцәеи, адукатцәеи рзы асеминарқәа реиҿкаареи; азинтә дкыларҭа аартреи; акультуратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи. Аусуҩтә еиҿцаарақәа А.Брод игәаанагарала ласс-лассы имҩаҧгалатәуп.

 

М.Григориев дазааҭгылеит Жәларбжьаратәи апресс-центр аҧҵаразы Ареспублика Аҧсны Ацентртә алхратә комисиаҟны аиқәшәаҳаҭра шрыбжьарҵаз. Аиҧылараҟны алхра аламҭалазтәи аҭагылазаашьа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

 

01.12.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада