AҦCУAA  PЫБЖbbI

                                     -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт



 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада идикылеит аргыларатә бизнес знапы алакыу Ҭырқәтәылантәи аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь  идикылеит ақалақьқәа Адаҧазар, Измир, Џьиузде рыҟны аргыларатә бизнес знапы алакыу Ҭырқәтәылантәи аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа – Алиук Цыгәба, Емир Жьиба, Езгиур Аргәын, Чаатаи Ҳәатышь.
 

Ҭырқәтәыла еицырдыруа аргыларатә еилахәырақәа ирхаҭарнакцәоу абизнес уаа, ирҳәеит ишазхиоу рҭоурыхтә ҧсадгьыл аргыларақәа рыҟны ацхыраара арҭарц. “Уи азын ҳара иҳамоуп аҭагылазаашьақәа зегьы – афинанстәии, атехникатәии”, - иҳәеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧылараан Алиук Цыгәба.
 

Аргыларатә фирмақәа рхаҭарнакцәа Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ҳамҭас ирҭеит, Ҭырқәтәыла идыргылахьоу аобиектқәа рсахьақәа зныу абуклет.
 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит, аҳәынтҭқарра економикада аҿиара шзалымшо. “Ҩ-шықәсеи бжаки раҧхьа хҳәынҭқарра азхаҵара аиуит. Уажәшьҭарнахыс иаҭахыуп мҽхакы ҭбаала аусура, ара Аҧсны инхо реиҧш, ҳтәыла анҭыҵ инхо аҧсуаа рызгьы”, – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Афедерациа Аҧсны иазыҟанаҵо ацхыраара ду. “Урыстәыла Аҧсны иазоунажьит аргьежьра зҭахым 11 миллиард мааҭ. Арҭ ахархәагақәа рыла ҳара еиҭашьақәҳаргылоит амҩақәа, ахәҷбаҳчақәа, ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыҟны имҩаҧаҳгоит арҽеиратә усурақәа, ӡыла аиқәыршәагақәеи, афымцанхамҩеи ирыгыу-ирыбзоу ҟаҳҵоит. Зегь раҧхьа инаргыланы, ари аинфраструктура еиҭашьақәыргылатәуп, аргыларатә усурақәа рхыцыркразы”, – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
 

Сергеи Багаҧшь аихамҩеи аҳаирбаҕәазеи реиҭашьақәыргылареи, Аҧсни – Ҟарачы-Черкесски еимаздо амҩа аргылареи, амшын аҵала Аҧсны былтәыла аиқәыршәареи уҳәа мҽхакыҭбаалатәи аусурақәа иазгәаҭоу ртәы дазааҭгылеит.  Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аусутә рацәаӡоуп ақыҭанхамҩаҿгьы. Уи абизнес знапы алакыу рахь ажәалагала ҟаиҵеит, иалыркаарц хықәкыла  иарбан усхкыу рнапы зларкырц ирҭахыу. “Азауад, афабрика рыргылара, мамзаргьы ақыҭанхамҩа аганахьала аусура агәаҳәара шәымазар – проблема ҳәа акагьы ыҟаӡам”, – иҳәеит Багаҧшь
 

Аҭырқәа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа дырзааҭгыло, Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит НАТО иалахәылоу Ҭырқәтәыла апозициа еилкаарыла дшазниуа. “Аха Ҭырқәтәыла ҳгәларатә ҳәынҭқарроуп, иага ус иҟазаргьы, аҧхьаҟа ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа шьақәыргылахоит”, - иазгәеиҭеит аҳәынтқарра Ахада.
 

Абизнесуаа рделегациа мҩаҧызгоз, апарламент адепутат Ҭаали Ҳәатышь иазгәеиҭеит, жәа-шықәса раҧхьа Иҧсадгьылахь дшыгьежьыз,  уи дагьшахьымхәыц. “Аҧсуа дахьыҟазаалак дазхәыцуазароуп, Иҧсадгьылахь дхынҳәны итәыла аекономика аиҭашьақәыргылара дызцлацхрааша”, - иҳәеит уи.

 

21.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧыит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара ацеремониа

 

Иахьа аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара ацеремониа. “Ахьӡ-аҧша” аорденқәа рыҭоуп 15 ҩыуаак.
 

“Иахьа ҳара аҳамҭақәа занаҳшьо, - Зыҧсадгьыл аџьабаа азызбахьоу, ҳажәлар рзы акыр зылшахьоу роуп. Ҳаҧхьаҟа иҵегьы ирацәоуп аусқәа,  ҳҳәынҭқарра аҿиареи арҕәҕәареи рзы иҟаҵатәу ”,- иҳәеит аҳамҭақәа ранашьара аламҭалазы Сергеи Багаҧшь.
 

Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь “Ахьӡ-аҧша” аорден  II аҩаӡара ианаишьеит Сергеи Бебиа – абиологиатә наукақәа рыҿиараҿы илагалеи иара убас ареспублика аҵарауаа қәҧшцәа разыҟаҵараҿы илшамҭақәеи рзы.
 

Аҳәынҭқарра ахада “Ахьӡ-аҧша” аорден  II аҩаӡара ианаишьеит ахәҷтәы шәҟәҩҩы Џьота Тапаҕәуа – аҧсуа хәҷтәы сахьаркыратә литература аҿиараҿы илшамҭақәа рзы. Аҳамҭа лнапаҿы илыҭан ашәҟәҩҩы иҧҳа Биана Тапаҕәуа.
 

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны акыршықәсатәи ламысцқьалатәи иусурази ,иара убас ауаажәларра-политикатә усура активла иҽалархәреи рзы, ашәхтәқәеи аизгақәеи рминистр Вахтанг Ҧиҧиа ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара.
 

“Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара ланашьоуп Ламара Бганба – агәабзиарахьчара аусхк аҟны лыҵшәалатәи лусуреи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз амедицинатә цхыраара рыҭараҟны лылшарақәеи рзы.
 

“Ахьӡ-аҧша” аорден III  аҩаӡара ранашьоуп: Рауф Ҧлиа – аҽтәы спорт аҿиараҟны илшамҭақәа рзы; Асҭамыр Ӡар-иҧа – аекономика аҿиараҟны илагалақәа рзы; Алеқсеи Арӡынба – аҭаҭын-ферментациатә ааглыхра аҿиараҟны илшамҭақәа рзы; Мурман Џьопуа – Очамчыра араион аҿиараҟны  илшамҭақәа рзы;  Виктор Барцыц – Гагра араион аекономика аҿиаразы.
 

Аҳәынҭқарра ахада “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара ранаишьеит Валентина Адлеиба, Нелли Ҧачлиа, Белла Ашәба, Валентина Гыцба- Гочуа – еиҵагыло абиҧарақәа разыҟаҵареи  рааӡареи рыҟны рылшамҭа дуқәа рзы.
Еиҵагыло абиҧарақәа разыҟаҵареи рааӡареи лыҵшәалатәи акыршықәсатәи иусуразы “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара ианашьоуп Виқтор Алеқсандров. (Виктор Алеқсандров – афизикеи ахимиеи дрырыҵаҩуп, Сергеи Багаҧшь икласстә напхгаҩы).
 

Лгәымшәареи луалҧшьақәа рынагӡареи рзы Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа №2 аилыргаҩы Наталиа Чернова даныҧсы ашьҭахь иланашьоуп “Агәымшәаразы аорден”. Аҳамҭа иҭоуп Н.Чернова лҧа.

 

16.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хада Пан ги Мун иахь ишәҟәы

 

Иара Иаҳаракыра

Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хада

Пан ги Мун иахь

 

Шәара Шәаҳаракыра,

 

“Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит 1992-2008ш ш рзы аҧсуа-ақырҭуа еимакы аҭышәныртәалара хырхарҭас измаз Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара аҽазышәарақәа. Ақырҭуа-аҧсуа еиҿцәажәаратә процесс мҩаҧысуан ЕАР ахылаҧшрала, иара убас Қырҭтәылеи Аҧсни рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы раҵаҩраҿы, хәҭакахьала 1994 ш. лаҵарамза 14 рзтәи Москватәи аиқәшаҳаҭреи, 1998 ш. лаҵарамза 25 рзтәи Гагратәи Аҧкаанҵеи, Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара алахәын.

 

Аха, Қырҭтәыла иааҟәмҵӡакәа имҩаҧнаго ақәларақәеи,  аҭынч еиқәшаҳаҭрақәа реилагареи, 2006 шықшәса рзы Кәыдрытәи аиҩхаа бџьаршьҭыхла ақәлареи уҳәа, аҭагылазаашьа аибарххарахь икылнагеит, 2008 шықәшса рзы уи иагьахылҿиааит Аахыҵ Уаҧстәыла аибашьра.

 

Аҧсны аиҿцәажәаратә процесс зегьы аҟны хьаҳәа-ҧаҳәада иқәгылоит аимак ҭынч политикатә мҩала аӡбаразы. Ҳара иара убас ааҧхьарақәа ҟахҳҵоит, Қырҭтәыла мап ацәнакырц адгьылаҿ, ажәҩанаҿ, адәаҿы аибашьра аиҭарҿыцра.

 

Қырҭтәыла ақәларатә политикеи, Аҧсны аганахьала мҽхакыҭбаалатәи арратә операциақәеи, иара убас  ЕАР ахылаҧшрала, ОБСЕ алархәны анапы зҵаҩыз Қырҭтәыла еиланаго аиқәшаҳаҭрақәа, Қырҭтәыла ҿырҳәалатәи “аҭынч ааҧхьарақәа” иҟарҵо ргәрамгараз азин ҳамоуп.

 

Убри инамаданы, аҧсуа ган даҽазныкгьы арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхараз ишазаҳаҵҳаҵо, апозиациагьы шьақәнарҕәҕәоит Женеватәи ацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иззааҭгылоу, амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра хырхарҭас измоу, иара убас Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара азеиҧш жәларбжьаратәи еицәажәара ашьаҭала, еиҟароу агәлеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы апроцесс  ахацыркра.

 

Иара убас инаҵшьны иҳәатәуп, ареспублика Аҧсны иастратег хаданы ишаанхо – Урыстәыла Афедерациа – Қырҭтәылеи Аҧсни рыбжьара аибашьра аиҭамырҿыцреи, ашәрҭадареи иргаранту.

 

Аҧсны агәларатә ҳәынҭқаррақәа рыҟны ақәларақәа  ирхыҵхырҭаны иҟамлац, аринахысгьы иагәҭакым. Ҳара официалла аҳәамҭа ҟаҳҵоит, Аҧсны Қырҭтәыла аганахьала ишагәҭакыу еицырыдыркылахьоу амч ахамырхәара ақәиҭымзаара апринцип ақәныҟәара, жәларбжьаратәи азин аҟны ишазгәаҭоу еиҧш.

 

Аҧсны аганахьала Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡа иагәҭакыу ақкәларатә политикеи,  иҳамоу аҧышәеи ҳасаб рзуны, Қырттәыла аганахьала абџьаршьҭыхлатәи ақәлара аҭыҧ анаиу аамҭазы, ҳара ажәҩанаҿы, адәаҿы, аӡаҿы ахыхьчара ҳазыхиоуп.

 

Убри инамаданы, Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаарахь ааҧхьара ҟаҳҵоит,  амч ахамырхәареи ақәлареи рзы аганқәа рыбжьара наҟ-ааҟ ахыдҵақәа ргара  шәацхрааразы, иара убас ихазацыркызарц ашәарҭадара агарантқәа еиқәзыршәо апроцесс ҿыц, ҩ-ҳәынҭқаррак – Аҧсни Қырҭтәылеи иҭышәынтәалоу ргәлараеимабзиара аиқәыршәара хырхарҭас измоу.

 

Ҳаҭыр дула

Сергеи Багаҧшь,

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада

 

Ҧхынҷкәын 14, 2010 ш.

 

14.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гәдоуҭа имҩаҧысит Лаҭатәи атрагедиаҿы иҭахаз ргәалашәара иазкыз амитинг

 

Ҧхынҷкәын 14, - 1992-93 ш.ш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ахәҷқәа ргәалашәара Иамшуп. Иахьа Гәдоуҭа ақалақь аҟны, Лаҭатәи атрагедиаҟны иҭахаз анышә иахьамадоу имҩаҧысит алахьеиқәратә митинг.

 

1992 шықәшса, ҧхынҷкәын 14 рзы иҭахаз ргәаларшәаразы арахь иааит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, аҧыза-министр Сергеи Шамба, иҭахаз рыуацәеи рзааигәацәеи, ареспублика еиуеиҧшым аҿартә еиҿкаарақәа.

 

Абаҟа аҽаҧхьеи аҳаҭгәнқәеи рҟны ашәҭқәа шьҭаҵо, ацәашьқәа аркуа, ауаа рылаҕырӡ рзынкыломызт. Амитинг алахәцәа рыбжьара дыҟан, хатәгәаҧхарала Ҟабардантәи еибашьуаз, Лаҭа иҭархаз авертолиот иҭаблыз Феликс Бекалдиев иашьа Иурии Бекалдиев. Иурии даҧхьеит аҧсуа-ақырҭуа еибашьра иазикыз ихатәы жәеинраала.

 

“Ҳара иаҳгәалаҳаршәалароуп аибашьра зыҧсҭазаара ҿнаҵәаз ауаа. Ҳара урҭ ахааназ иаҳхашҭуам,  наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит”, - иҳәеит аҿартә еиҿкаара “Аҧсны ҿа” ахаҭарнак Денис Соломко.

 

14.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Г. Карасини Т. Хаммарберги алацәажәеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәаақәа рыҟны аибарххара ахыҵхырҭа ҿыцқәа алзмыршо аперспективақәа

 

Ҧхынҷкәын 13 рзы – астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәыла Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григории Карасин дидикылеит Урыстәыла усуҩтә визитла иааны иҟоу, ауаҩы изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Томас Хаммарберг.

 

Имҩаҧысит ақырҭуа-ауаҧс еимакы аҭышәныртәалара аперспективақәеи, иара убас Аахыҵ  Уаҧстәылеи Аҧсни рҳәаақәа рыҟны аибарххара ахыҵхырҭа ҿыцқәа алзмыршо аусмҩаҧгатәқәа рзы ргәаанагарақәа реибыҳәара.
 

Аганқәа инаҵшьны иазгәарҭеит, раҧхьа иргыланы ишыӡбатәу арегион аҟны агәманитартә проблемақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа,  убрахь иналаҵаны ақырҭқәеи ауаҧси ганқәа инкыланы ирымоу ауаа реиҭныҧсахлара азҵаарагьы.
 

Карасин ахә ҳаракны ишьеит аимак аҭыҧ анамаз аамҭақәа рзы хабарда ибжьаӡыз рыҧшаареи рыргьежьреи рзы Хаммарберг иҽазышәарақәа.
 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ акомиссар дазхьеирҧшит, Балтиа атәылақәа рыҟны инхо, еиҳаракгьы Латвиеи Естониеи рыҟны аурысқәа рзинқәа рыҧкра апроблемақәеи, иара убас Қырҭтәыла амчрақәа урыстәыла атәылауаа рганахьала иҟарҵо апровокациақәеи, Европа Ахеилак ахь ааҧхьара ҟаиҵеит арҭ азҵаарақәа хырҩаа рырҭаларц азы.
 

Аганқәа ишьақәдырҕәҕәеит, Урыстәылеи Европа Ахеилаки агәманитартә зҵаарақәа рзы аҧхьаҟатәи русеицуреи реицәажәарақәеи ишрыцырҵо ала.

 

14.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

,

 Лаҭатәи атрагедиа 18 ш. ахыҵра инамаданы, Тҟәарчал араион Аҟәарчаҧан ақыҭан имҩаҧыит алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа

 

Лаҭатәи атрагедиа 18 ш. ахыҵра инамаданы, Тҟәарчал араион Аҟәарчаҧан ақыҭан имҩаҧыит алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа. Ари амш официалла 1992-93 ш.ш. рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ахәҷқәа ргәаларшәара Амш ҳәа иҧхьаӡоуп.

 

18 шықәса раҧхьа, 1992 ш., ҧхынҷкәын 14 рзы, аҧсуа-қырҭуа еибашьраан Гәылрыҧшь араион Лаҭа ақыҭан Қырҭәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа авертолиот карыжьит, амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа агәҳалалратә реисла иҧыруаз.
 

Ари агыгшәыгра иахҟьаны, усҟан иҭахеит 84-ҩыуаак, урҭ рхыҧхьаӡараҟны 35 –ҩыуаак ахәҷқәа. Лаҭатәи атрагедиаҟны иҭахаз рыбжьара иҟан 8-ҩыуаак зцәа зтәымыз аҳәса. Иҭахаз рыҧсыбаҩқәа анышә иамадоуп Гәдоуҭа ақалақь аҟны.
 

Ари аҽны аҳәсеи ахәҷқәеи зҭатәаз авертолиот ахьынтәыҧрыз аҭыҧ аҟны иқәыргылоу абаҟахьы иааит хыҧхьаӡара рацәала Тҟәарчал ауааҧсыра, араион анапхгара, ашколхәыҷқәа.
 

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Тҟәарчалҟа ицны иааит аҿартә еиҿкаарақәа, ахәҷқәа, урҭ иркын иҭахаз ахәҷқәа рыхьыӡқәа зныз ашарик шкәакәақәа.
 

Абаҟа аҿаҧхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь иаркын ацәашьқәа, ажәҩан ахь идәықәҵан ашарикқәа. Амитин аҟны иқәгылеит Тҟәарчал араион ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа аҧхьон ажәеинраалақәа,2-тәи абжьаратә школ а-9-тәи акласс аҵаҩы Ахра Харчлаа даҧхьеит Лаҭатәи атрагедиа иазикыз ихатәы жәеинраала.
 

Тҟәарчалтәи аҵара аусбарҭаҟны адырра злаҟарҵаз ала, иахьа шьыжьнаҵы Тҟәарчал ашколқәа рыҟны имҩаҧысит амитингқәа, актәи аҵатәхәқәа рызкын авертолиот аҟны иҭахаз ахәҷқәа.

 

14.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Е. Кокоиты идикылеит Аахыҵ Уаҧстәыла аҟны ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Нодар Плиев иҟынтә агәраргагатә шәҟәқәа

 

Аахыҵ Уаҧстәыла аҳәынҭқарра ахада Едуард Кокоиты идикылеит Аахыҵ Уаҧстәыла аҟны ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Нодар Плиев иҟынтә агәраргагатә шәыҟәқәа.

 

Ашәҟәқәа идкылара ацеремониаҟны, Е.Кокоиты аҧсуа дипломат изеиҕьеишьеит иусраҿы ақәҿиарақәа, ҳәа аанацҳауеит асаит http://osinform.ru/.

 

“Шәара аҭакҧхықәра ду зцыу анапынҵа шәымоуп. Ҳара ҳажәларқәа еиднакылоит азеиҧш ҭоурыхтә лахьынҵа. Урҭ анысит акыр ихьанҭаз амҩа рхьыҧшымра азхаҵаразы, - иҳәеит Кокоиты. Урыстәыла Афедерациа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра ахьазханаҵаз иабзоураны, урҭ аҧсҭазаара ҿыцахь амҩа иануп. Ҳажәларқәа иахьа аҭагылазаашьа рымоуп аҭынч жәҩан аҵаҟа анхара.“

 

Едуард Кокоиты агәҕра ааирҧшит, иахьатәи ацеремониа ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылараҟны даҽа шьаҿак  шыҟаҵоу ала.

 

Нодар Плиев аҳәынҭқарра Ахада агәра ииргеит, Аҧсны анапхгареи ажәлари изыҟарҵаз агәрагара дшаҧсахо ала.

 

“Сара исылшо зегьы ҟасҵоит ҳажәларқәа реиҩызареи русеицуреи рырҕәҕәараҟны”, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ацҳаражәҳәаҩ.

 

Иазгәаҭатәуп, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазааштьақәа шышьақәыргылаз цәыббра 26, 2007 шықәса рзы. Убри аҽны ареспублика Аахыҵ Уаҧстәыла Ареспублика Аҧсны аҟны ацҳаражәҳәаҩ Роберт Кокоев агәраргагатә шәҟәқәа ианаишьеит Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Сергеи Багаҧшь.

 

10.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Доминикантәи Ареспублика адепутатцәа азҿлымҳауп Аҧсны аҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара

 

Доминикантәи Ареспублика адепутатцәа азҿлымҳауп Аҧсны аҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, рҳәеит ари атәыла адепутатцәа Франсиско Матоси Рамон Фернандеси иахьа Аҟәа, Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамба иҧылараан.

 

Доминикантәи апарламент ахаҭарнакцәа Аҧсны иааны иҟоуп абадырратә визитла.

 

Аҧыза-министр С.Шамба иазгәеиҭеит, Аҧсни Латиноамерикатәи арегион атәылақәаки ишрыбжьоу аилибакаара, урҭ рполитикатә хәшьарақәа шеиқәшәо, иааҳакәршаны иҟоу адунеи адкылашьаҟны ирзеиҧшу шырацәоу.

 

Шамба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны ҷыдала ишырзыҟоу Латинамерикатәи арегион алидерцәа Уго Чавес, Даниель Ортега реиҧш иҟоу, Урыстәыла Афедерациа ашьҭахь, Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз.

 

Шамба иазгәеиҭеит, Аҧсны ахаҭарнакцәа шаҭааз Латинтәи Америка егьырҭ атәылақәагьы, уаҟа иахьабалакь гәаартыла ишырҧылоз. “Ҳхаҭарнакцәа Латинтәи Америка егьырҭ атәылақәагьы ирҭааит, иахьабалак аилибакаара аҳра ауан. Убри азын, ари арегион асасцәа мацара шәакәӡам, доуҳала еизааигәоу ҳауп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

 

Доминикантәи Ареспублика апарламент адепутатцәа Аҧсны анапхгара иҟарҵаз аҧхарра зҵаз адкыларазы ҭабуп ҳәа ахҳәаауа, иазгәарҭеит, Аҧсни Доминикани рыбжьара аусеицура азҵаарақәа ишрылацәажәаз адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиеи,Аҧсны Жәлар реизара Ахада Нугзар Ашәбеи рҧылараан.

 

Адепутатцәа аҧыза-министр Сергеи Шамба ааҧхьара ирҭеит ртәыла даҭаарц. “Ҳара ҳазыҧшуп аҧсуа ган аҟынтә Аҧсны анапхгара Доминикантәи Ареспублика иаҭаараны ианыҟоу арыцхә аилкаара. Ҳара ҳахьеиҧшу рацәоуп, ҳтәылаҟны атуристтә бизнес активла иҿиоит”, - иазгәеиҭеит Доминикантәи адепутат Франсиско Матос Шамба иҧылараан.

 

10.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Доминикани русеицура аперспективақәа ирылацәажәон М.Ҕәнџьиеи Доминикантәи Ареспублика адепутатцәеи реиҧылараҟны

 

Аҧсни Доминикантәи Ареспубликеи еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны русеицура аперспективақәа ирылацәажәон Ареспублика апарламент адепутатцәа Рамон Фернандеси Франсиско Матоси Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Мақсим Ҕәнџьиа иҧылараҟны.

 

Аҧсны аҧшӡара ирнаҭаз агәахәара атәы иазааҭгыло, адепутатцәа иазгәарҭеит ареспублика апотенциал абеиара. Урҭ иара убас инаҵшьны иазгәарҭеит, ҩ-тәылак ахьеиҧшу шырацәоу, аҧхьаҟатәи русеицура ахырхарҭақәа ҭбаахарц шалшо. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

 

Мақсим Ҕәнџьиа асасцәа ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны аҭоурых, уи амилаҭтә – хақәиҭратә ҵысра, арегион иахьатәи асоциал-економикатә ҭагылазаашьа.

 

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Латинтәи Америка атәылақәеи Аҧсни доуҳала акыр ишеизааигәоу, Аҧсны арҭ атәылақәа рыҟны еизааигәоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шышьақәнаргыло.

 

Адепутатцәа аминистр ириҭаз ааҧхьара ҭабуп ҳәа ахҳәаауа, аҭакс Аҧснынтә аделегациа ааҧхьара арҭеит Доминикантәи Ареспублика иаҭааразы, апарламентбжьаратә еимадарақәа рышьақәыргыларазы.

 

10.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 А.Анқәаб Тҟәарчал ақалақь аҳәынҭқарра Ахада иуаажәларратә дкыларҭаҟны имҩаҧигеит ауааҧсыра рыдкылара

 

Аҧшьаша, ҧхынҷкәын 9 рзы, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Тҟәарчал ақалақь аҳәынҭқарра Ахада иуаажәларратә ддкыларҭаҟны имҩаҧигеит ауааҧсыра рыдкылара. Адкыларҭахь иааит 54-ҩыуаак, урҭ рыбжеиҳараҩык – Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахази, аинвалидцәеи рҭаацәеи рыҳәсақәеи ракәын.
 

Тҟәарчал араион ауааҧсыра рацәажәараан ишьҭыхыз азҵаара хадақәа иреиуан, 1992-93 ш.ш рзы ааха зауз ахатәы ҩнқәеи аҳәынҭқарра иатәу ахыбрақәеи рремонт аҟаҵара ракәын .
 

“Ари ауадаҩра зцу проблемоуп, аха урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыҧшаара ҳҽазаҳшәоит, уи азын ишаҭахыугьы ахарџьқәа маҷымкәа. – иҳәеит Анқәаб. Уи Тҟәарчал араион ахада Зураб Аргәниа анапынҵа ииҭеит, зҭагылазаашьа зынӡа иуашәшәыроу аҩнқәа рсиа азирхиаразы, .зегь раҧхьаӡа иргыланы Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахази аинвалидцәеи иртәу.
 

Ауааҧсыра ахирургиатә ҧҟарақәа зҭахыу, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ипротез аҧсахра, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу рыхшара рҵаразы,  Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ибаҟа ақәыргыларазы уҳәа рзы аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ иахь аҳәара ҟарҵон афинанстә цхырааразы. Анхацәа араионтә центр уахьналало инхо ахашшаауан, анышәынҭрақәеи ацҳаи аӡы ишыҵнаӡәӡәааз, ҭыҧкәак рыҟны аӡы аҩнқәа ирзааигәаны ишнеиуа.
 

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ иажәақәа рыла, ари азҵаара апроектттә докәментациа шьақәыргыламкәа ӡбашьа шамам. Уи ауааҧсыра ирыдигалеит аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала ашәҟәы рыҩразы, уи аҭагылазаашьа аҭҵааразы аспециалистцәа анапынҵа шриҭо.
 

Ишьҭыхын иара убас амилаҭтә паспорт аиуреи, Аҧсны атәылауаҩра ашьҭыхреи, ақалақьи ақыҭамҩақәа рырҽеиреи, акредитқәеи атәанчахәқәа риуреи, изакәанымкәа аргыларақәеи, агазтә нхамҩа аиҭашьақәыргылареи, аҭыҧантәи аџьармыкьаҟны алеишәа ашьақәыргылареи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Гәыҧҩык ауаа ахашшаауан Аҟәа ауаҭахқәа риуразы агәаран иқәгылоижьҭеи акыршықәса шыҵуагьы, анхарҭа иахьа уажәраанӡа ишырмоуц.
 

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ зегьы идеилиркаауан, иаарласны арҭ азҵаарақәа рыӡбара шамуа; аҳҭны-қалақь аҟны иҭацәу ауадақәа ыҟамижьҭеи акыршааҵуа. Аҩн ҿыцқәа рыргылара аҳәынҭқарра макьаназ амч шақәымхо.
 

Адкыларҭахь иааз аҳәса аҳәынҭқарратә аҧтекеи, астаматологиатә уадеи ахьыҟоу ахыбрақәа рремонт аҟаҵареи, иара убас арентгенаппарат-маҷи астериализациатә шкафи раахәареи рҿы ацхыраара рыиҭаразы аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ иахь аҳәара ҟарҵон.
 

А.Анқәаб афирма “Тҟәарчалргылара” адиреқтор анапынҵа ииҭеит ахыбрақәа ҭҵааны, иааиуа ашықәс азы аремонтқәа рплан ахь иадырбаразы.
 

5-тәии 1-тәии абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа ахашшаауан ауалафахәыи, иара убас атетрадқәа ргәаҭаразы иахыршәаауа ахәҧса маҷи. Зны-зынла 450 тетрад рҟынӡа амзазы изныкымкәа ргәаҭара анҳақәшәо ыҟоуп,  уи азын 5 мааҭк роуп иақәшо, рҳәон арҵаҩцәа. Урҭ инаҵшьны иазгәарҭеит, аҭаацәа иршәоз аҧара мап шацәыркыз, избанзар аҭаацәа рыбжьара иҟан иззымшәоз.
 

А. Анқәаб иҳәеит аминистрцәа Реилазаара аӡбара шаднакылаз, атетрадқәа ргәаҭаразы ахәҧса ашьҭыхрази, насгьы аҳәынҭбиуџьет аҟынтә ауалафахәы зауа зегьы рҧара 20% рыла ишышьҭыххо. Уи аан уи дақәшаҳаҭхеит, арҵаҩцәа руалафахәы шмаҷу, уи еиҳазар шакәу.
 

Адкыларҭахь иааз зегьы ақәыргәыҕын, урҭ иҟарҵаз аҳәарақәеи ашшыҧхьыӡқәеи ишрыхәаҧшхо , аҭакқәагьы шроуа ала. А.Анқәаб ахадара ахыбраҟны ишьақәыргылоу иҷыдоу аиашьик аҟны ауааҧсыра иҭадыршәыз ашәҟәқәа ҭиҵааит.

 

09.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Багаҧшь адышшыларатә шәҟәы ишьҭит Краснодартәи атәылаҿацә анапхгара рыхьӡала, агәбернатор ихаҭыҧуаҩ М.Ахеджак иҧсҭазаара иалҵра инамаданы

 

Краснодартәи атәылаҿацә Агәбернатор Алеқсандр Ткачиов ихьӡала идәықәҵоу ашәҟәы аҟны иаҳәоит:

 

“Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Николаи-иҧа, хатә цәыӡк еиҧш исыдыскылеит Краснодартәи атәылаҿацә агәбернатор ихаҭыҧуаҩ Мураҭ Казбек-иҧа Ахеджак иаамҭаӡамкәа иҧсҭазаара иалҵра. Аҳәынҭқарра гәык-ҧсыкала амаҵ азызуаз , аҭакҧхықәра ду змаз  анапхгаҩы, Мураҭ Казбек-иҧа Аҧсны даҩыза иашан. Уи ҳтәылаз иаҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы хаҭалатәи иҽазышәарақәа Краснодартәи атәылаҿацәи Аҧсни рыбжьара ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ахә ҳаракны иаҳшьоит. Хылҵышьҭрала иадыҕаз, динтернационалист, Ҟәбан даҵеи иашан.

 

Ҳара ҟәбанаа ргәрҩа рыцеиҩаҳшоит. Гәлсра дула срыдышшылоит Краснодартәи атәылаҿацә анапхгареи, Мураҭ Казбек иҭаацәеи, иҭынхацәеи. Уи игәалашәара наунагӡа иҳацзаауеит.”

 

08.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада дырҧылеит аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иахьа арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа рҧылара мҩаҧигеит. Аиҧылара иалахәын аҳәынҭқарра Ахада иҳаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаб, аҳәынҭқарра Ахада  Иусбарҭа Анапхгаҩы Григории Еныкь, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Оҭар Хьециа, аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаа Зураб Қаџьаиа,Виачеслав Чырыкба, акәльтура аминистр Нугзар Логәуа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, еицырдыруа ашәҟәҩҩцәа, апоетцәа, акәльтуреи аҟазареи русзуҩцәа ааҧхьара шриҭаз, аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика иактуалтәу азҵаарақәа рзы рабжьгарақәеи ргәаанагарақәеи дырзыӡырҩҩразы. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит арҿиаратә интедлигенциа еснагь атәыла аразҟы аҳәаақәҵараҿы ароль хада шааныркылоз. Сергеи Багаҧшь игәаанагарала, амассатә информациатә хархәагақәа рыҟны ицәырҵуа аматериалқәа, усхкқәак рыҟны аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа анегативтә ҟазшьа рызҭо, ари апозициа имаҷымкәа ацәажәарақәа шахылҿиаауа. Аҳәынҭқарра Ахада агәаҳәара ааирҧшит, ажәлар рыҟны зажәа есымшагь иазыӡырҩуа, абас еиҧш иҟоу азҵаарақәа рзы акьыҧхь аҟны инарҵауланы ргәаанагарақәа цәырыргаларц. “Сара издыруеит имаҷымкәа зтәыла аиҭаҿиаразы аџьабаа ҕәҕәа збахьоу Аҧсны ауааҧсыра рҕьырак ргәаанагара “, - иҳәеит Сергеи Багаҧшь. “Сара ибзианы еилыскаауеит гәыҧҩык ауаа ари азҵаара арҕыҕкра хықәкыс изрымоу, – аҩныҵҟаполитикатә еиҿагылара аҧшьгаразоуп. Иахьа ҳара ҳҭыҧ аҟны игылазҭгьы убарҭ ауаа, ҳара ҳаиҧшҵәҟьа ишныҟәоз агәра ганы сыҟоуп”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аха,  убри аан, Сергеи Багаҧшь игәаанагарала, ҳаинтеллигенциа арҭ азҵаарақәа разнеишьа иахьа цқьа иахьцәыргам, Аҧсны аҩызцәа абасеиҧш алкаақәа ҟарҵоит.

 

Аҧсны ашәҟәҩҩы Алықьса Гогәуа игәаанагарала, абас еиҧш аиҧыларақәа рымҩаҧгара амчреи ажәлари рыбжьара аилибакаара арҕәҕәара иацхраауеит. Еицырдыруа ашәҟәҩҩы иажәақәа рыла, апрессаҿы акьыҧхьымҭақәа ажәлар зегьы ргәалаҟазаара аныҧшуам. “Ҳажәлар ахаангьы ирымамызт иагьыҟалом Урыстәыла ахь анегативтә зыҟазаашьа, Урыстәыла Афедерациа ажәлар рхьыҧшымразы иҟанаҵо аҽазышәарақәеи, аамҭа иҧнашәахьоу ҳаизыҟазаашьақәеи, ари атәыла дуӡӡа ҳаҭырқәҵарыла уазымнеирц залшом”, - иҳәеит Гогәуа. Арҭ агәаанагарақәа ирыдгылеит аиҧылараҟны иқәгылаз ашәҟәҩҩы Никәала Ҳашыг , Аҧсны ашәҟәҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа, Ашәҟәҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Терент Ҷаниа, ашәҟәҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Ашәҟәҩҩы Даур Наҷҟьебиа ишазгәеиҭаз еиҧш, Аҧсны ахьыҧшымра Урыстәыла ианазханаҵа нахыс, ҧыҭҩыуаак ирыӡбеит, ҳҳәынҭқарра апроблемақәа зегьы ӡбоушәа. Ашәҟәҩҩы игәаанагарала. “зегь реиҳа иуадаҩу аҧхьаҟа иҟоуп, насгьы араҟа ихадоуп агха ҟамҵакәа, ҳадгылаҩцәа рмырӡра”.

 

Ашәҟәҩҩы Гыц Асҧа иазгәеиҭеит, ш ықәсык аҧхьа имҩаҧысуаз аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рыла, Сергеи Багаҧшь, 2005 шықәса рзы имҩаҧысуаз алхрақәа рзы аасҭа иаҳагьы адгылара иоуит. Уи арҵабыргуеит ҳтәыла ауааҧсыра ҳҳәынҭқарра Ахада имҩваҧиго аполитикеи ишҟа ирымоу агәрагара ду, урҭ рхыҧхьаӡараҟны Урыстәыла Афедерациаҟны аимадарақәа рырҕәҕәара убахь иналаҵаны.

 

Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧигоз аиҧылараҟны иара убас ирылацәажәан аҧсуа бызшәа аҿиареи егьырҭ иактуалтәу азҵаарақәеи.

 

02.12.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада