AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҧсуа шрифт



 
 Апарламент адепутатцәа арепатриациа афонд ахархәашьа агәаҭаразы иаҧырҵеит аусуҩтә комиссиа

 

Апарламент адепутатцәа арепатриациа афонд 2006 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа ахархәашьа агәаҭаразы иаҧырҵеит аусуҩтә комиссиа.

 

Акомиссиа, зхадараҿы дыҟоу Апарламент Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ирина Агрба, иалоуп адепутатцәа Сенер Гогәуеи Рита Лолуеи,  Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоу Ахылаҧшра-гәаҭаратә Усбарҭа анапхгаҩы Кама Гогиа, иара убас Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрреи апрокуратуреи рхаҭарнакцәа.

 

30.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр дырҧылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ицхырааҩи ихаҭарнак ҷыдеи

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба дырҧылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада абжьаҟазаратә операциақәа рзы ицхырааҩ Едмонд Мулети ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Иоҳан Вербекеи.

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҟынтә адырра злаҟарҵаз ала „ООН ахаҭарнакцәа Аҧсныҟа раара адҳәалоуп,  ареспублика анапхгара  рҟны Аҧсны ООН Амиссиа аанкылара апроцесс иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа рылацәажәара. Иара убасгьы иазгәаҭоуп, Амиссиа аусзуҩцәа рҟны абжьгарақәа рымҩаҧгара, ООН аусзуҩцәа аҧхьаҟа аусура раларгара азҵаатәқәеи, иара убас егьырҭ атехникатә проблемақәа рылацәажәареи“.

 

Е.Мулет ишхьааигоз иҳәеит, ООН амиссиа 16 шықәса раахыс иахьыҟаз Аҧсны иааныжьны иахьцо. ООН ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа ахырҳәааит аимак азона аҟны аҭышәынтәалареи аҭынчра аиқәырхареи хырхарҭас измаз аҧсуа гани дареи лыҵшәабзиалатәи русеицуразы .

 

С.Шамба иазгәеиҭеит, аҧсуа ган шазҿлымҳаз жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аҧсны рааныжьра, уи иалшоз зегьы шыҟанаҵа Аҧсны ООН Амиссиа амандат ацҵара азҧхьагәазҭоз акомпромисстә вариантқәа  рыҧшааразы. Аха, ООН Ашәарҭадара Ахеилак иалахә тәылақәак рхымҩаҧгашьазы ари азҵаара иахәҭоу адгылара маиуит. С.Шамба излазгәеиҭаз ала, зегь реиҳа ҧынгыла хадас араҟа иҟалаз,  ҧасатәи адокәментқәа рахь ухьазырҧшуа Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ахьазгәаҭоу, арезолиуциа атекст ҿыц алагалара рҽахьазыршәоз ауп. Ари аҩыза азнеишьа, аҭыҧ змоу аҿыц еиҭакрақәеи, зҽызыҧсахыз Аҧсны астатуси ирҿагылоит“, - иҳәеит Шамба. Убри аан, уи иазгәеиҭеит, ООН амиссиа рлагала шдуу аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара апроцесс аҟни, аҭынчра аиқәырхареи, аиҿцәажәаратә процесс аиҿкаареи, ауааҧсыра асоциалтәи агәҳалалратәи цхыраара рзыҟаҵараҿи.

 

29.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаҧысуеит Аҟәатәи акультура аҵараиурҭа аҳасабырбатә концерт

 

Ахашаҽны, рашәарамза 24 рзы, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟеы имҩаҧысуеит есышықәсатәи аҟәатәи акультура аҵараиурҭа аҳасабырбатә концерт. Акультура аминистрра аҟынтә адырра злацарҵаз ала, рҟазара ахәаҧшцәа ахәршьаразы иқәгылоит жәлартә рашәақәа рынагӡаҩцәеи, аоркестри, ахареографиатә гәыҧқәеи.

 

„Сынтәа аконцерттә программа иҵегьы иҭбаахеит. Жәлар рыкәашарақәа рыдагьы, апрограмма иалоуп адунеи ажәларқәа рыкәашарақәа: аиспан жәлар , амолдованцәа, мрагыларатәии ҳаамҭазтәи акәашарақәеи ахареограф қәыҧш Иана Цәеиба лықәыргыламҭақәа“, - ҳәа адырра ҟарҵеит акультура аминистрра аҟынтә. Аконцерт алагоит 17.00 сааҭ рзы.

 

23.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәрхароеи аҿиареи рпроблемақәа ирызкны „астол гьежь“

 

Аҧсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирызкын, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны Аҳәынҭқарра ахада далахәны имҩаҧысуаз „астол гьежь“.

 

Ари аусмҩаҧгатә иалахәын иара убасгьы апарламент адепутатцәа, аҵарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциеи, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Унивирситети, Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонди, аҵара аминистрреи рхаҭарнакцәа .

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ишазгәеиҭаз еиҧш, аҧсуа бызшәа ахала изыҿиаӡом, уи иаҭахыуп ацхыраареи адгылареи, аҵарауааи аинтеллигенциеи ари аус рымч – рылша азыркыроуп.

 

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Валерии Аршба иажәақәа рыла, 2007 шықәса рзы аус адулан иагьышьақәырҕәҕәан аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә программа. „Ари апрограмма инадҳәаланы ,иазгәаҭаз аусмҩаҧгатәқәа зегьы нагӡан. 2008 шықәса рзы, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситети аҵарадыррақәа Ракадемиеи акомиссиа иалнахыз 24 шәҟәы ҭыжьын, уи иазоужьын 3 миллион мааҭ аҧара.“, - иҳәеит Аршба. Убри аан ,уи иазгәеиҭеит, иахьазы макьана ишалыршам акомпиутертә технологиаҿы аҧсуа бызшәа аларҵәаразы алабараториа аиҿкаара, аспециалистцәа изларыҧхьаӡаз ала уи азы иаҭахыуп 12 миллион мааҭ инарзынаҧшуа. В.Аршба иҳәеит агәыҕра шыҟоу, ари ашықәс нҵәаанӡа уи анагӡара алыршахап ҳәа.

 

Убри инадҳәаланы, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Унивирситет ареқтор А.Гәарамиа иазгәеиҭеит, аҧсуа бызшәа акомпиутертә технологиаҿы аларҵәаразы шықәсыбжак аиҳа шыҵуа иаҿуижьҭеи, аха ареспублика анҭыҵынтә иааҧхьоу аспециалистцәа макьаназы акагьы шрызшәам. Аҳәынҭқарра Ахада ари апроблема аҧсуа бызшәа аҿиара апроблемазы аҳәынҭқарратә комиссиа иаҩыжьроуп ҳәа азиҧхьаӡеит. „Ҳҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара ауснагӡатә аҟны иҟамзароуп иарбанзаалак ҧынгылак“,- иҳәеит С.Багаҧшь. Уи анапынҵа ииҭеит В.Аршба иахәҭоу ауснагӡатәқәа идикыларазы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иҭыжьу ашәҟәқәа аҿар рыҧхьалароуп, ахәыҷқәа ирылааӡалатәуп ҧсыуала ахәыцшьа. Убри инадҳәаланы С.Багаҧшь иазгәеиҭеит, Аҧсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд имҩаҧнаго аусура ду атәы. Иагьа ус иҟазаргьы, Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала „уи маҷуп“.

 

Афилолог Сариа Амҷба аҧсуа бызшәа аҿиара апроблемақәа дырзааҭгыло, еиҳаракгьы инаҵшьны иазгәалҭеит арекламатә аалыҵи, ақалақьи ареспублика зегьы аҟны икыду аҩырақәеи ртәы. Лара лгәаанагарала, аҧсуа бызшәа аҿиара иазкыу иҷыдоу аҟәшақәа ыҟазароуп акьыҧхьтә усбарҭақәа рҟны, иара убасгьы аҧсуа- адыга бызшәақәеи атрадициақәеи рыҭҵааразы аҵарауаа имҩаҧыргаларуоп аеқспедициақәа ҳәа. Уи иара убасгьы иазылыҧхьаӡоит, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараан аҧсуа етикет азы абитуриентцәа ирыҿцәажәалатәуп ҳәа. „Иаҭахыуп есышықәса инарҭбааны аҧсуа бызшәа амш амҩаҧгара“, - лҳәеит Амҷба, уи иара убасгьы ажәалагала ҟалҵеит сынтәа Аҧсуа бызшәа Амш аҽны, аҧсуа-абаза жәларқәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа аиубилеи азгәаҭара.

 

Апарламент адепутат Валерии Кәарҷиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҧсуа бызшәа апроблема есымшагьы алацәажәара шымҩаҧысуа, аха иарбан еилатәаразаалакгьы еизаракгьы аҧсышәала ишымҩаҧымсуа, убарҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп апарламентгьы, азгәеиҭеит уи. „Иреиҳау амчратә ешелонқәа рҟны аҧсышәала ацәажәарақәеи, аусмҩаҧгатәқәа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәала амҩаҧгара иалагаанӡа апроблема ҧсахрада иаанхоит. Ҳара иҳамаӡам закәанк аҧсышәала. Убри азын, ҳара ҳала иалагатәуп“, - иҳәеит Кәарҷиа.

 

Аҵарауаҩ Б.Џьонуа игәаанагарала, „аҧсуа школ ишахәҭоу еиҧш иаҧсыуа школхаанӡа, апроблема аӡбара уадаҩхоит“. „Аҧшьбатәи аклассынӡоуп, ҳашколқәа анаҧсыуа школқәоу, иаҭахыуп егьырҭ аиҳабыратә классқәа рҟны итәоу аҵаҩцәа амаҭәарқәа аҧсышәала дырҵара. Ҳара иҳамоуп аҵарауаа абиологиеи, агеографиеи аҧсышәала реиҭагра иазхиоу“, - иҳәеит Џьонуа. Иара игәаанагарала, аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан аус ауӡом.

 

Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ирина Агрба лгәаанагарала, аҧсуа бызшәа апроблема ҿыцӡам,аха иаҭахыуп аҿыц знеишьақәа, иҧсахтәуп аҧсуа бызшәа дырҵара аметодика. Избанзар ,иара абызшәа ахаҭа аҵара ахәыҷқәа рзы иуадаҩуп. Уи ажәалагала ҟалҵеит, аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан  аусура амҩаҧысшьа ахылаҧшразы апарламенттә комиссиа аҧҵазарц. „Ари  азҵаараҿы апарламент иалшо рацәоуп“, - азылыҧхьаӡоит Агрба.

 

„Астол гьежь“ аҟны иалацәажәон иара убасгьы ,арепатрациа апроблемагьы. Аҵарауаҩ иурии Аргәын иажәақәа рыла, амҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьылахь рыргьежьра апроблема аӡбара аҧсуа бызшәа аиқәырхара апроблема иацхраауеит ҳәа. „Аха арепатриациазы аҳәынҭеилакы ари апроблема аӡбара иаҿым. Аҧсуа бызшәа аҵаразы иаҭахыуп ҳаамҭа иақәшәо акәрсқәа. Мамзар убас еиҧш иҟалалоит, арепатриантцәа аҧсуа бызшәа аасҭа аурыс бызшәа анырҵо. Аҧсуа-абаза жәларқәа жәларбжьаратәи Рассоциациа мацар ауп акурсқәа еиҿызкаауа аҳәаанырцәынтәи игьежьуа ҳдиаспора рхаҭарнакцәа аҧсуа бызшәа дырҵаразы“, - иҳәеит аҵарауаҩ.

 

И.Аргәын иажәақәа рыла, Аҟәа иҟам, амҳаџьырқәа аамҭала рнырхаразы азеиҧш нхарҭа ҳәа акагьы. Убри инадҳәаланы, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Унивирситет аректор иҳәеит, иаарласны аунивирситет ари апроблема аӡбара агәы ишҭоу.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, мышқәак рыла ареклама знапы алакыу аспециалистцәа реизгара игәы ишҭоу.

 

Валерии Аршба ажәалагала ҟаиҵеит, арекламатә аалыҵ азы иаҧҵазарц аиҭагаҩцәа ргәыҧ.

 

23.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа аурыс аҳәаахьчаҩцәа иарбанзаалак акала иадҳәалам Мужава ақыҭантәи апост алахысра, - Зураб Марганиа

 

Аҧсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Зураб Марганиа мап ацәикуеит, аурыс-аҧсуа ҳәаахьчаҩцәа, Мужава ақыҭантәи  (Ҵаленџьыха араион) ахҭыс иадҳәалоушәа ақырҭуа информациатә массатә хархәагақәа иҟарҵо адырраҭарақәа.

 

Рашәарамза 22 рзы ақырҭуа телееилахәыра „Имеди“ аинформациа аланарҵәеит, Аҧсны аҳәаа азааигәара,Саберио ақыҭан иҟоу аурыс-аҧсуа ҳәаахьчаҩцәа рпост аганахьала, Ҵаленџьыха араион Мужава ақыҭантәи аполициатә пост иалахысит ҳәа. Ателееилахәыра аинформациала, апост иалахысит шьыжьы асааҭ 6 рзы, ақырҭқәа рганахьала иаартын аҭактә хысрақәа. Аиҿахысрақәа цон 20 минуҭ инарзынаҧшуа, аӡәгьы ааха имоуӡеит.

 

„Мужава ақыҭан иҟалаз ахысрақәа ртәы еилаҳкаахьан аелектронтә информациатә массатә хархәагақәа рыла, аха аҧсуа-аурыс ҳәаахьчаҩцәа Мужава иҟалаз ахҭыс иарбанзаалак акала иадҳәалам“, - иҳәеит Марганиа.

 

Ақырҭуа телееилахәыра аинформациала, аапигәа, иара убри аҭыҧ аҟны, Евроеидгыла анаҧшцәа рмиссиа амашьына атанкҧжәага иахьахаҧжәаз иахҟьаны аӡәы дҭахеит, егьи ахәра бааҧсы иоуит.

 

22.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дрыдышшылоит Ингәыштәыла атеррористтә акт иахҟьаны иҭахаз рҭаацәеи рҭынхацәеи

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада агәҭынчымра инаҭеит Ингәыштәыла Аҳәынҭқарра Ахада Иунус-бек Евкуров ишьразы иҟаз аҽазышәара. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аиҳабы тхаҭыҧуаҩ Алхас Ҷолокәуа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада ҭелла иҽимаидеит Ингәыштәыла аҧыза-министр Рашид Гаисанов. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь гәалсрыла дрыдышшылоит Ингәыштәыла атеррористтә акт иахҟьаны иҭахаз рҭаацәеи рҭынхацәеи.

 

С.Багаҧшь Иунус –бек Евкуров изеиҕьеишьеит агәабзиара.

 

22.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә еиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩра ашьҭахь, ареспублика иалагалахоит аинвестициақәа ,- ҳәа азиҧхьаӡоит С.Григориев

 

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иазиҧхьаӡоит Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә еиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩра ашьҭахь, ареспублика иалагалахоит аинвестициақәа ҳәа.
 

Агазеҭ „Республика Абхазия" аинтервиу анеиҭоз излашьақәирҕәҕәаз ала, азырхиара иаҿуп Урыстәылантә аҳаза ахымшәаакәа атауар аагареи, иара убас Аҧснынтә аалыҵ агареи рзы адокумент. Адипломат игәаанагарала ари аиқәшаҳаҭра анырра ҟанаҵоит атауареиҭарсразы аҧсуа-аурыс ҳәааҿы.
 

Григориев инаҵшьны иазгәеиҭеит,атранспорти, аимадареи, акультуреи русхкқәа рҟны еилахәны аусурақәа рымҩаҧгаразы иаҭахыуп иашьашәалоу адокәментқәа ҳәа.
 

Иахьазы ,35 ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра азырхиара иаҿуп, урҭ анапы рыҵаҩхоит 2009 шықәса анҵәамҭазы.
 

Арҭ адокәментқәа, адипломат игәаанагарала, „еиҭа даҽазныкгьы ишьақәдырҕәҕәоит Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра, иара убас Аҧсны ауааҧсыра рсоциал-економикаатә ҭагылазаашьа арманшәалараҿы анырра ҟанаҵоит“.
 

Урыстәыла Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы. Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ С.Григориев Аҟәа иусура хациркит, ҳазныу ашықәс хәажәкырамзазы.

 

18.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Шамба: УА ҳара иҳастратегиатә партниоруп, ҳабжьара ишьақәгылеит ганрацәалатәи аусеицура, зегь раҧхьаӡа иргыланы ашәарҭадара аусхк аҟны

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба ажурналистцәа Абдалла Хабеи (Еидҵоу Арабтә Емираҭқәа ринформациатә агентра) Сами Амареи (Египет ателехәаҧшреи агазеҭ „Ашак аль аусти“) рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
 

Ажурналистцәа азҿлымҳаны иҭырҵаауан, ареспублика адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу азҵуаатәқәа: Аҧсни адәныҟатәи адунеии реизыҟазаашьа, зегь раҧхьаӡа иргыланы Ааигәа Мрагылара атәылақәа.
 

„Урыстәыла Афедерациа ҳара иҳастратегиатә партниоруп, ҳабжьара ишьақәгылеит ганрацәалатәи аусеицура, зегь раҧхьаӡа иргыланы ашәарҭадара аусхк аҟны“, - иазгәеиҭеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ажурналистцәа рыҿцәажәараан.
 

С.Шамба, иара убасгьы иазгәеиҭеит Ааигәа Мрагылара атәылақәеи Аҧсни реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шхадаратәу. „Египети Ааигәа Мрагылара егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟны инхо зықьҩыла аҧсуа-адыга диаспореи А ҧсныи иеизааигәоу аимадарақәа рыбжьоуп. Ҳара ҳақәгәыҕуеит аҧхьаҟа, араб дунеи атәылақәеи ҳареи иҵегьы иааигәоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵап ҳәа“, - азгәеиҭеит аминистр.
 

С.Шамба асасцәа иреиҳәеит, Аҧсны ауааҧсыра аӡәырҩы шыҧсылманцәоу, ареспублика анапхгарагьы адгылара шарҭо ажәлар адоуҳатә ҿиарахьы ирымоу агәазыҳәарақәа зегьы.
 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз аминистр ҭабуп ҳәа реиҳәеит ажурналистцәа ҳтәылахь иаадырҧшуа азҿлымҳаразы, насгьы иҳәеит дшақәгәыҕуа ааигәа Мрагылара атәылақәеи Аҧсни рыбжьара иҵегьы иааигоу аизыҟазаашьақәеи аимадарақәеи рышьақәыргылара.

 

18.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны иҟоу Урыстәыла Афедерациа аррамаҵзуцәа рхыҧхьаӡара еиҵатәхоит

 

Урыстәыла Афедерациа Арбџьартә мчқәа штаб хада иагәҭакыуп Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны иҟоу Урыстәылатәи арратә базақәа рырратә маҵзуцәа рхыҧхьаӡара аиҵатәра, ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Арбџьар Мчқәа рырратә штаб хада аиҳабы ар аинрал Николаи Макаров.
 

Уаанӡа, Аштаб Хада хықәкыс иаман Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны иҟоу Урыстәылатәи арратә базақәа рырратә маҵзуцәа рхыҧхьаӡара 3,7 нызқьҩыуаак рҟынӡа анагара.
 

„Арҭ арратә базақәа рҟны аррамаҵзуцәа рхыҧхьаӡара маҷк еиҵатәхоит, избанзар раҧхьаӡа иҳәаз ахыҧхьаӡара маҷк ирацәоуп... Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны зуснагӡатәқәа зыӡбаша арбџьармчқәа ыҟоуп. Ҳара ҳархәҭақәа уаҟа иҟоуп арҭ араионқәа рҟны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларази, иара убасгьы арҭ ҿыц ахьыҧшымра зауз аҳәынҭқаррақәа ртерриториатә акзаара ахьчареи рзы. Убри азын аррамаҵзуцәа рхыҧхьаӡара маҷк еиҵатәхоит“, - иҳәеит Макаров.
 

Уи ишьақәирҕәҕәеит, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рҟны арҭ абазақәа раҧҵара аҿҳәара ҧсахрада ишаанхо.
 

Ари ашықәс анҵәамҭазы, ҳара ҳбазақәа реиқәыршәара хҳаркәшоит. Урҭ аҧҵахоит ҩ-базакны – акы Аҧсны, Годоуҭа араион аҟны, егьи Аахыҵ Уаҧстәыла , Цхинвал араион аҟны“, - ҳәа азгәеиҭеит Аштаб Хада аиҳабы.

 

17.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Бан Ки Мун адҵа ҟаиҵеит аҧсуа-қырҭуа еимакы аҭыҧаҿы ООН амиссиа аусура ахыркәшаразы

 

ООН Амаӡаныҟәгаҩ Бан Ки Мун, аҧсуа –қырҭуа еимакы аҭыҧаҿы, ООН Амиссиа амандат ацҵаразы, Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа реиқәымшәарақәеи, иара убас Ашәарҭадара Ахеилак абжьыҭирақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны адҵа ҟаиҵеит, рашәарамза 16 инаркны Амиссиа аусура ахыркәшаразы.
 

Абри атәы иҳәеит, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада иҳәамҭала дықәгыло ипресс-маӡаныҟәгаҩ.
 

Бан Ки Мун агәала шимаз иҳәеит, ООН Ашәарҭадара Ахеилак ари азҵааразы аиқәшаҳаҭра ахьалнамыршаз, арегион аҟны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Ашәарҭадара Ахеилак ахәаҧшразы ажәалагалақәа шынашьҭызгьы.
 

ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Амиссиа аусзуҩцәеи, урҭ ахьынхо атәылақәеи зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Игәалаиршәеит арегион аҟны аҭынчра хьчо иҭахаз зегьы.

 

17.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Шамбеи Џьозеф Стефанидиси алацәажәеит ООН Амиссиа Аҧсны аусура аанкылара апроцесс иадҳәалоу азҵаатәқәа

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба аҧсуа-қырҭуа еимакы азонаҿы ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Ихаҭарнак ҷыда ихаҭыҧуаҩ Џьозеф Стефанидиси алацәажәеит ООН Амиссиа Аҧсны аусура аанкылара апроцесс иадҳәалоу азҵаатәқәа. Адипломатцәа реиҧылара мҩаҧысуан ашәқәа аркны.
 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, С.Шамба ажурналистцәа иреиҳәеит, ООН амиссиа аҧсуа-қырҭуа еимакы азонаҿы 16 шықәса раахыс имҩаҧнагоз аусура ҭабуп ҳәа шахиҳәааз.
 

Шамба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ООН Амиссиа алгара – ҧыҭраамҭак узыдхало процессуп ҳәа, уи хымз инаркны фымзынӡа аамҭа аҭаххр ауеит ҳәа. Аминистр ҿырҧшыс иааигеит, аҳәынҭқарра Еритреи аҟны, ООН амиссиа алгара 7 мзы ишадхалаз.
 

„Амиссиа алгара азҵаарақәа рыӡбаразы ҳара иҳамоуп аиҧыларазы аҭагылазаашьақәа. Абжьаҟазаратәи анаҧшратәи процесс акәзар, арҭ азҵаарақәа рылацәажәара ахәҭаны иаабом, избанзар ООН Амиссиа амандат иацҵам“, - иҳәеит Шамба.
 

„Аиҧылараҟны, ҳара (аҧсуа ган) иазгәаҳҭеит, абжьаҟазаратә процесс аҟны ООН амиссиа, иаҳгәалаҳаршәеит, Кәыдры аиҩхааҿы иҭархаз авертолиот аҟны иҭахаз ООН аусзуҩцәа. Ари атрагедиа ақырҭуа провокациа иахҟьеит“, - иазгәеиҭеит Шамба.
 

2001 шықәса, жьҭаарамза 8 рзы, Кәыдры аиҩхаа, ашьха Ашьақар хылҧа араион аҟны ақырҭуа еибашьцәа иҭадырхеит аҧсуа-қырҭуа еимакы азона ацклаҧшразы ООН амиссиа иатәыз авертолиот, уаҟа иҭахеит амиссиа арратә наҧшцәеи, аиҭагаҩцәа аӡәи, аимадара атехники, аекипаж алахәцәа хҩыки.
 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рхада иазиҧхьаӡоит, рмаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡараан ООН амиссиа аусзуҩцәа рҭахара иаҳнарбоит, амиссиа анапынҵақәа ҭакҧхықәрала ишынанагӡоз.
 

Аминистр иажәақәа рыла, азҵаарақәа акыр рыҟны ҳгәаанагарақәа еиқәымшәозаргьы, „ихадоу апрактикатә зҵаарақәа рҿы, ООН ахылаҧшрала аҧсуа-ақырҭуа аиҿцәажәаратә процесс аиҿкаареи, аҭагылазаашьа иобиективтәу ахәшьара аҭареи, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ргарантиақәа рҟны Аҧсны анапхгареи ООН амиссиеи аилибакаара рыбжьан ҳәа“.
 

Џьозеф Стефанидис мап ацәикит апресс аҿцәажәара.

 

17.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН амиссиа Аҧсны аҟазаара феидак аланы иаабом – Сергеи Шамба

 

ООН амиссиа Аҧсны аҟазаара, аҧсуа ган зазҿлымҳаз, „арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы акәын, избанзар, „аиҿцәажәарақәа анцо аамҭазы еихсыҕьуеит ахысбыжьқәа“. Абри атәы иҳәеит иахьа арадиосанциа „Ехо Москвы“ аефир ала дықәгыло, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, ООН Ашәарҭадара Ахеилак амиссиа Қырҭтәылеи Аҧсни ррегиоқәа рҟны амандат иахьацнамҵаз ахҳәаа азыҟаҵо.
 

„Амиссиа амандат аиҿцәажәаратә процесс аиҿкаара азҧхьагәанаҭон. Иахьа Қырҭтәылеи ҳареиҳабжьара иарбан еиҿцәаәаразаалакгьы аанкылоуп. Аиҿцәажәарақәа реиҭарҿыцра ахәҭангьы иаабом, узацәажәаша ҳәагьы уаҟа аӡәгьы дыҟам, амиссиагьы иара анапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп“, - иазгәеиҭеит уи.
 

Иахьазы „абжьаҟазаратә процесс уиезгьы иаанкылоуп“, „ аҧсуа ган амиссиа араҟа аҟазарра феидак аланы ҳәа иаҳбом, аха „Қырҭтәылеи уи адгылаҩцәеи зегь раҧхьа иргыланы, иазҿлымҳазароуп, араҟа анаҧшцәа ыҟазарцы“, инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
 

„Уажәазы, Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоуп аиқәшаҳаҭрақәа, уи ашәарҭадара иагарантианы иаабоит“, - иҳәеит Шамба.
 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рхада иазиҧхьаӡоит, ООН Ашәарҭадара Ахеилак Аахыҵ Кавказ амиссиа арезолиуциа ацҵара алагалара „иаҳнарбеит, тәылақәак аҭагылазаашьа ишыҟаҵәҟьоу ахәшьара аҭара шырҭахым“, Ҳара ҳадҵаҟаҵарақәа уаҩы ибаратәы иаҳаратәы иҟан: амандат ҿыц адкылара злазгәаҭаз ала, уаанӡатәи арезолиуциақәа рахь ухьазырҧшыша ыҟамзароуп, избанзар арҭ арезолиуциақәа  ажәит, урҭ ҧсахтәуп“, - иазгәеиҭеит Шамба.

 

Иара иажәақәа рыла, ООН амиссиа „хымз аамҭа аҭахоит арантәи ицаратәы“,.

 

16.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН амиссиа Қырҭтәылантәии Аҧснынтәии ацара арегион аҟны аҭагылазаашьа ианыҧшуам

 

ООН амиссиа Қырҭтәылантәии Аҧснынтәии ацара арегион аҟны аҭагылазаашьеи, иара убасгьы уаҟа иҟоу Урыстәылатәи арратә еилазарақәа русуреи ирныҧшуам, ҳәа адырра ҟаиҵеит, аинформациатә Агентра Новости ашҟа Урыстәылатәи атәылахьчаратә усбарҭа ахаҭарнак.
 

ООН амиссиа Қырҭтәылеи Аҧсни ррегионқәа рҟны аҩаша инаркны , ООН Ашәарҭадара Ахеилак амандат аҿҳәара ахьацнамҵаз инамаданы аусура аанакылеит.
 

ООН амиссиа амандат ацҵаразы, апоект алазгалаз 7 тәылак, убрахь иналаҵаны Америка Еидҵоу Аштатқәа, Британиа Ду, Франциа уҳәа  10 тәылак рыбжьы рҭиит, ҧшь-тәылак- Китаи, Ветнам, Ливиа Уганда – рҽааныркылеит, Урыстәыла авето-азин змаз, уи иаҿагылеит.
 

Агентра зыҿцәажәоз иажәақәа рыла, амиссиа ацара, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи арратә еилазаарақәа русураҿы анырра ҟанаҵом, „амиссиа аҭышәныртәаларатә процесс аҟны ароль ҳәа акагьы зланамыгӡоз ала“.
 

Иара убас, Урыстәыла Афедерациа атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак иажәақәа рыла, ООН амиссиа аусура аанкыларазы аӡбара арегион аҟны аҭагылазаашьа ианыҧшуам.
 

Убри аан, уи иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аганахьала, апровокациақәа аҭыҧ роурц шалшо.

 

16.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧигеит атәыла аҩныҵҟатәи адәныҟатәи политика азҵаарақәа ирызкны Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит атәыла аҩныҵҟатәи адәныҟатәи политика азҵаарақәа ирызкны Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара. Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа алацәажәеит ООН Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара алыҵшәақәа. Аҳәынҭқарра Ахада агәнамӡара ааирҧшит, ари аилатәараҿы аҧсуа ган аинтересқәа атәазымбо арезолиуциа апроект ахьрыдгалаз. С.Баҕапшь ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, Урыстәыла ахаҭарнак ари адокәмент адымкыларазы азин ихы иахьаирхәаз.
 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Аҧсны мап шацәнамкуа ООН амиссиа атерриториаҟны аҟазаара, аха изақәшаҳаҭхом Аҧсны Қырҭтәыла иахәҭакыуп ҳәа ахьарбоу арезолиуциа ақәшаҳаҭхара. „Аҧсны , жәаҳәарада, ООНеиҧш заҳаҭыр ҳаракыу  жәларбжьаратәи аиҿкаараҿы аимадарақәа абжьаҵаразы иаҧшаалоит даҽа мҩақәак. Жәаҳәарада, ҳара ҳгәы иалоуп, аҭагылазаашьа ииашамкәа ахәшьара азҭо тәылақәак раппозициа иахҟьаны, ООН амиссиа аусура аанкылахарц ахьалшо“, – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
 

Ашәарҭадара Ахеилак аилатәараҟны ирылацәажәеит азҵаарақәа жәпакы.

 

16.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С. Багаҧшь аҧсуа – абаза жәларқәа Жәлрбжьаратәи Рассоциациа апрезидент Т.Шамба ианаишьеит „Ахьӡ-аҧша“ аорден

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, аиуристтә ҵарадыррақәа рдоктор, аҧсуа-абаза жәларқәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа Апрезидент Тарас Шамба ианаишьеит „Ахьӡ-аҧша“ аорден аҩбатәи аҩаӡара.
 

Аҳәынҭқарра Ахада Тарас Шамба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, мааҧсарада Иҧсадгьыл амаҵ ахьазиуазы. Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит Тарас Мирон-иҧа илагала ду аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧараҿи, иара убасгьы аҧсуа ҳәынҭқарратә зинтә система ашьақәгылараҿи аҿиараҿи. Абри азы „Аҧсныпресс“ ахь адырра ҟарҵеит Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аҟнынтә.

 

12.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәатәи аихамҩеи аҳаирбаҕәазеи реиҭашьақәыргыларатә усурақәа аҵыхәҭәанынӡа инасыгӡоит – С.Багаҧшь

 

Иаартыу Акционертә Еилазаара  Урыстәылатәи аихамҩақәа Аусбарҭа анапаҵаҟахь Аҧсуа аихамҩа аиагаразы амчрақәа рыгәҭакы, аоппозициа аган акритика бааҧс шазыруагьы, аихамҩа ашьақәыргылара  аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо агәра диргеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.
 

„Досу ииҳәалакгьы, аихамҩеи аҳаирбаҕәазеи реиҭашьақәыргылара аҵыхәтәанынӡа инасыгӡоит“. – иҳәеит С.Багаҧшь, Есышықәсатәи Анашьҭымҭала Аҧсны Апарламент аҟны дықәгылауа.

 

11.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәа рҟны аимадарақәа рырҕәҕәара ишацнаҵац иацнаҵоит Аҧсуа дипломатиа

 

Аҧсуа дипломатиа аҳәаанырцә - Ҭырқәтәылеи, Мрагылара Ааигәеи, Европеи ртәылақәа рҟны инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҿы аимадарақәа рырҕәҕәара ишаҿыц иаҿуп. Абри атәы иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, атәыла аҭагылазаашьазы Есышықәсатәи Анашьҭымҭала Аҧсны апарламент аҟны дықәгылауа.
 

„Мрагыларааигәатәи ахырхарҭа рҕәҕәоуп, хәҭакахьала Иорданиа. Иахьа ари атәылаҿы иаҧҵоуп Аҧсны ахәҳахәҭратә хаҭарнакра, уи Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы аинвесторцәа рзы ицентрны иҟалоит. Сириа ахырхарҭала аусра активтәуп, иара убас Дубаи, Абу-Дабии“, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
 

Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, аҳәаанырцә инхауа аҧсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ирыбзоураны „анырра бзиа ҟанаҵар ауеит Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара анаҩстәи апоцесс   аҿы.“ Абас еиҧш иҟоу аимадарақәеи аиҿцаарақәеи рырҕәҕәарала, реихаҳарала иалшоит Аҧсны аинформациала аҭахкаара аҧыхра, ҳҳәынҭқарраҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ииашаны рызнагара, атәылахь рзыҟазаашьа аиҭакра, аҳәаанырцә Аҧсны ахьӡ-аҧша ашьҭыхра.

 

11.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь далахәхоит Санкт-Петербург имҩаҧысуа Адунеизегьтәи арыцтә форум

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь гәахәарыла идикылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Дмитрии Медведев, Санкт-Петербург имҩаҧысуа Адунеизегьтәи арыцтә форум ахь ииҭаз ааҧхьара. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Алхас Ҷолокәуа. Иара иажәақәа рыла, С.Багаҧшь ихы алаирхәуеит, рашәарамза 6-7 рзы имҩаҧысуа Адунеизегьтәи арыцтә форум.

 

Афорум аусура иалахәхоит 65 ҳәынҭқарра рҟынӡа. Афорумахь иара убас ааҧхьара рымоуп, ақыҭанхамҩа аминистрцәеи, арыцтә бизнес амилаҭтәи атрансмилаҭтәи еилахәырақәа рнапхгаҩцәеи, афинанстәи абанктәи еиҿкаарақәеи.

 

02.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Афактқәа рышьақәыргыларазы Ихьыҧшым Жәларбжьаратәи амиссиа ахаҭарнакцәа аҭааит Кәыдрытәи аиҩхаа

 

Афактқәа рышьақәыргыларазы Ихьыҧшым Жәларбжьаратәи амиссиа ахаҭарнакцәа, асабшаҽны, иаҭааит Кәыдрытәи аиҩхаа. Аделегациа, зхадараҿы дыҟаз, Амиссиа анапхгаҩы лхаҭыҧуаҩ Мариан Сташевскии Аҧсны иҟан лаҵарамза 29 инаркны 31-нӡа. Аделегациа аилазаараҟны иҟан, иара убасгьы, арратә еқсперт Жиль Галле, азинтә зҵаарақәа рзы аеқсперт Тео Бутруш.

 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ,, аделегациа Кәдры аиҩхаахь имҩаҧызгоз Гарри Кәпалба, Аҧсныпресс ахь адырра злаҟаиҵаз ала, Амиссиа ахаҭарнакцәа аҭааит аиланхарҭатә ҭыҧқәа Армарахьтәи Птышь, Армарахьтәи, Арҕьарахьтәи Гьенцәыш, Ажара, Мрамба, Чҳалҭа.

 

„Амиссиа алахәлацәа рҭааит ақырҭуа арратә ҟәшақәа ахьтәаз аҭыҧқәа, урҭ агәра ргартә еиҧш рылала ирбеит, ақырҭуа мчрақәа ишышьақәдырҕәҕәоз еиҧш аполициатә ҟәшақәа ракәымкәа, араҟа ишыҟаз зхыҧхьаӡара 3 нызқьҩыуаак рҟынӡа инаӡоз ақырҭуа архәҭақәа“, - иҳәеит Кәпалба.

 

Иара иажәақәа рыла, Амиссиа алахәлацәа идырбан, араҟа абазақәа рҟны итәаз ақырҭуа аррамаҵзуцәа, русуга тетрадқәеи, егьырҭ еиуеиҧшым адокәментқәеи.

 

„Уи адагьы, Ихьыҧшым Жәларбжьаратәи Амиссиа ахаҭарнакцәа, аҭыҧан инхо ауааҧсыра ирҧылеит, урҭ ирыҿцәажәеит. Урҭ ирарҳәеит араҟа ишынхо, проблемақәас ирымоу. Анхацәа Амиссиа ахаҭарнакцәа ианрацәажәоз ирҳәеит, ргәлацәа аӡәырҩы арахь агьежьра шырҭахыу, аха ақырҭуа амчрақәа уи ишаҧырхагоу. Аиҩхааҟны, иахьазы инхоит 200-ҩыуаак ауааҧысра, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп ахәыҷқәагьы“, - иазгәеиҭеит Кәпалба.

 

Уи агәыҕра имоуп, Амиссиа ахаҭарнакцәа, рнапхгаҩы, Швеицариатәи адипломат Ҳаиди Талиавини илызнаргап ҳәа иҟаҵәҟьоу аиаша, Амиссиагьы иахәҭоу алкаақәа ҟанаҵап ҳәа.

 

01.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иазгәарҭоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш

 

Иахьа, шьыжьнаҵы Аҟәатәи Ахадара аҿаҧхьа иҟоу апарк аҟны аҳҭны-қалақь ахәыҷтәы баҳчақәа рааӡамҭацәа иазгәарҭон ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш. Аҟәа Ахадара аныҳәа ахьӡала апарк аҟны идыргылеит абатут, ахәыҷқәа ирзыршеит аҳамҭақәа, ашәа рҳәон, икәашон, ажәеинраалақәа ирыҧхьон. Ахәыҷқәа ари зегьы агәахәара рнаҭеит.

 

Аҳҭны-қалақь  ахада Алиас Лабахәуа иажәақәа рыла, аҧхьаҟагьы традициак еиҧш иҟалоит, есышықәса, аҧхын аҧхьатәи амш азы ахәыҷбаҳчахь иныҟәо ахәыҷқәа рзы ари апарк аҟны еиҿкаахалоит ахәыҷқәа рныҳәа.

 

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны иазгәарҭон.

 

Тҟәарчал аконцерт адагьы, ахәыҷқәа алахәын еиуеиҧшым аицлабрақәа, убрахь иналаҵаны акаҭран аҟны асахьақәа рҭыхра. Аиааира згаз иранашьан аҳамҭақәа, ахәыҷқәа зегьы ирызшан аршәқәа.

 

Тҟәарчалтәи ахәыҷқәа рыдныҳәалеит ауаажәларра-патриоттә ҵысра „Аҧсны – ҿа“. Урҭ ахәыҷбаҳчақәа ирызнаргеит аҳамҭақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны асахьаҭыхгақәа, ашәыгақәа , ампылқәа уҳәа убас егьырҭгь.

 

01.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧснынтә аделегациа, зхадараҿы дыҟоу аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ А.Страничкин, алахәхоит Минск имҩаҧысуа аграааглыхратә мчыбжьы

 

Аҧсны аделегациа, зхадараҿы дыҟоу аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ А.Страничкин, Минскҟа амҩа иқәлеит, рашәарамза 2 инаркны 5-нӡа имҩаҧысуа Белоруссиатәи агроааглыхратә мчыбжьы алахәхаразы.

 

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Иурии Акаба, ақыҭанхамҩатә аҵарадырра-ҭҵааратә институт адиреқтор Лиосик Аиба.

 

Амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит 19-тәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа „Белагро – 2009“, „Афатәтә ааглыхра“ – 5тәи ацәыргақәҵа, „Аилаҳәареи архьшәашәареи“ – 12 тәи ацәыргақәҵа.

 

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа алахәлацәа иахәаҧшразы ирыдыргалоит ақыҭанхамҩатә машьынаргыларатә қәҿиарақәеи, афатәи, аусадуларатәи, аҧсаатәааӡарҭатәи, ачаӡырҭатәи, акондитертәи аалыҵқәеи рзы амыругақәеи уҳәа убас егьырҭгьы. Ацәыргақәҵа апрограммақәа зегьы рыҟны – атематикатә конференциақәеи, асеминарқәеи апресс-конференциақәеи рымҩаҧгареи, аусуҩтә еиҧыларақәеи.

 

01.06.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада