AҦCУAA PЫБЖbbI

                   -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 

 

Иахьатәи ашьыжь иазаанагаз ажәабжь хьанҭа – ҳаҭыр зқу, акыр иаҳзаҧсоу  ҳҳәынҭқарра Ахада изаамҭаным иҧсҭазаара иалҵра ҳара -  Европатәи атәылақәа рҿы хыҧхьаӡара рацәала инхо кавказтәи адиаспора, иара убас Аҧсны алахьынҵа хьаас измоу зегьы – ҳаршанхеит, ҳгуаҵанӡа иалсит. Ҳара даҳцәыӡит Аҧхьагыла Ду, зтәылазы згәабзера, зыҧстазаара ирмеигӡоз Апатриот, Аҧсны аҵеи лаша.

 

Зқьыла Европа иаланхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рыхьӡала гәыкала ҳрыдашшылоит ҳҳәынҭқарра Ахада иҭаацәа, иуацәа, изааигәоу, Аҧсны ажәлар, иахьыҟазаалакгьы ҳџьынџьуаа зегьы. Ҳгәыҕуеит, ҳажәлар еснагь ирымаз аҟуҕареи ачҳареи иахьагьы ирыхәап ҳәа.

 

Сергеи Васили-иҧа Багаҧшь еснагь ҳгәаҿы даанхоит ҳәаа змам апатриотизми, ҳтәыла ахьыҧшымра азхаҵареи, уи ҭынчра мҩала аҿиареи дырсимволны.

 

Акомитет „Pro Abkhazia“,

 

Германиа иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра

 

 
 “АГӘАЛАРШӘАРА АЦӘАШЬЫ”
 

Аҟәа, Ахаша ауха, 400-ҩыуаак инарзынаҧшуа Аҧсны арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи, здунеи зыҧсахыз Аҧсны аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь ихьӡала Аҟәа амҩадуқәа рҟны иадыркит агәаларшәара ацәашьқәа.

 

Аҿар ацәашьқәа аркны ианысит Аиааира апроспект, анаҩс рхы дырхеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧсыбаҩ ахьыкҿоу иҩнахьы. Урҭ халеит аабатәи аихагылахь, аҳәынҭқарра Ахада иуадахь, иҿаҧхьа даҽазныкгьы ихырхәеит, илбааны рцәашьқәа кны еикәшаны игылеит.

 

“Аҧсыжра аламҭалазы ҳара иҳаӡбеит акциа “Агәаларшәара ацәашьы” амҩаҧгара, зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала”, - иҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәкыз Алиас Аҩыӡба. Уи иазгәеиҭеит, Багаҧшь “Аҧсны аҭоурых аҟны аҿар ирзааигәаз аӡәы иакәны дшаанхо”. “Уи аҿар ҳҟынӡа ихы наигон, ианакәзаалак ҳгәы иҵхоз азҵаарақәа рзыӡырҩрра дазыхиан. Уи еснагь адгылара ҳаиҭон. Ҳара ҳхы-ҳгәы далоуп”, - иҳәеит Аҩыӡба.

 

Акциа алахәцәа ииасуаз ирзыршон алахьеиқәратә цахақәа.

 

Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсҭазаара далҵит 63 шықәса дшырҭангылаз, Москва, иҳаҩсыз амҽышазы, ирҧҳа аҟны имҩаҧгаз аҧҟара иахҟьаны. Ас еиҧш акциа мҩаҧысхьан Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада иҧсҭазаара даналҵыз.

 

01.06.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь анышә данамардо аҽны, Приднестровиа ирылаҳәоуп Алахьеиқәратә Мшны

 

Аҟәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада анышә данамардо аҽны, Приднестровиа ирылаҳәоуп Алахьеиқәратә Мшны. Абри атәы иҳәеит иахьа Приднестровиа Молдовиатәи Ареспублика Ахада Игор Смирнов, алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәразы Аҧсныҟа иааз.

 

Приднестровиа илашьҭхоит абираҟқәа, акәльтура аусҳәарҭақәеи ,ателехәаҧшреи арадиони рыҟны иаанкылоуп арлахҿыхратә программақәа.

 

01.06.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа аҽалархәразы аделегациақәа шаац иаауеит

 

Аҟәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа аҽалархәразы Аҧсныҟа иааит Ҭырқәтәыла Ареспублика аофициалтә хаҭарнак , Ҭырқтәыла Аҧыза-министри, Апарламент адепутат Саид Ачбеи зхадараҿы иҟоу аделегациа.

 

Аделегациа идикылеит Ареспублика Аҧыза-министр Сергеи Шамба. Аделегациа Ахада Ареспублика Аҧсны аиҳабыреи ажәлари дрыдышшылеит Ҭырқәтәыла Ареспублика анапхгара рыхьӡала , - ҳәа адырра ҟаиҵоит аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ Рубен Миграниан.

 

Иара убас , Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа аҽалархәразы Аҧсныҟа дааит Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Сергеи Нарышкин, - ҳәа адырра ҟаиҵеит аиформациа Аусбарҭа анапхгаҩы Кристиан Бжьаниа.

 

01.06.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониахь иааит Ареспубликақәа Ингәштәылеи Ашьха Ҟарабахи рҟынтә аделегациақәа

 

Аҟәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониахь иааит Ареспублика Ингәштәыла Ахада Иунусбек Евкәров зхадараҿы дыҟоу аделегациеи Ареспублика Ашьха Ҟарабах аделегациеи зхадараҿы дыҟоу Амилаҭтә Еизара ахантәаҩы Ашоҭ Гулиани.

 

Аделегациа идикылеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Алеқспандр Анқәаб. Ингәштәылеи Ҟарабахи рхаҭарнакцәа А.Анқәаб идышшылеит.

 

01.06.2011 Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада