AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 
 Аҧсныи Латинатәи Америка атәылақәеи русеицура ҧхьаҟагьы иацҵхоит

 

Аҧсныи Латинатәи Америка атәылақәеи русеицура ҧхьаҟагьы иацҵхоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела урҭ раҭаара алҵшәақәа ирызкыз апресс-конференциаҟны.

 

Лаҵарамза 20-28 рыбжьара официалтә визитла Венесуела иҟан Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба, иара убас Латинатәи Америкеи, Азиеи, Африкеи, Азиеи Аокеанҭынчтәи арегиони рыҟәша аиҳабы Адгәыр Чегиа.

 

Ирылацәажәан Венесуелеи Аҧсныи рҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рыбжьара аусеицура арҭбаара, арҵаулара азҵаарақәа ҳәа азгәеиҭеит Адгәыр Чегиа. Аҧсуа дипломатцәа акыр аиҧыларақәа мҩаҧыргеит Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы, хаҭалагьы аминистр ихаҭыҧуаҩ Темир Поррас иҧылеит.

 

«Аҧсныи Венесуелеи реиҩызара Ассоциациа» ааҧхьарала аԥсуа делегациа аҭааит Венесуела Амилаҭтә Ассамблеиа – апарлаемнт, уаҟа аспикер ихаҭа ҳаҭырқәҵарала аҧсшәа реиҳәеит.

 

«Даара ибзианы ҳрыдыркылон ҳахьнеилакгьы, ҳалахәын венесуелатәи апарламент аилатәара. Аспикери ҳареи ҳаиҧылараҿы ҳарзааҭгылеит Аԥсныи Венесуелеи рпарламентқәа рыбжьара акомитетқәа реимадара, русеицура амҽхак арҭбаара азҵаара», – ҳәа азгәеиҭеит аминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба.

 

Иракли Хынҭәбеи Адгәыр Чегиеи еиуеиҧшым асоциалтә программақәа ҭырҵааит. Иаҭааит ахәыҷтәы кардиологиатә центр. «Акардиоцентр азыхиоуп Аҧснынтәи ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыхәшәтәразы аиқәшаҳаҭра адкылара», – иҳәеит аминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба. Иара иажәақәа рыла венесуелатәи аган ҳара иааҳарҧшуа аинициативақәа ирыдгылоит.

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа дырбеит иара убас аилазаара «АЛЬБА» анагӡаратә маӡаныҟәгарҭа акоординатор.

 

08.06.2012 Аҧсныпресс /  Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Aусқәа Рминистрpa

 

 Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Аахыҵ Уаҧстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Д. Г. Санакоев имаҵзурахьы иалхра идиныҳәалеит

 

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Аахыҵ Уаҧстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Д. Г. Санакоев имаҵзурахьы иалхра идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Агәра ганы сыҟоуп ишәымоу азанааҭдырра ҳараки ахықәкынагӡареи рыбзоурала Аахыҵ Уаҧстәыла адәныҟатәи аполитикаҿы аихьӡарақәа шыҟало. Сара сыхәҭаахьала гәахәарала садгылоит ҳминистррақәа рыбжьара аусецура арҭбаара».

 

08.06.2012 Аҧсныпресс /  Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Aусқәа Рминистрpa

 

 Аҳәынҭқарра ахада идикылеит хынҩеижәаҩык ауааҧсыра

 

Ашәахьаэны, рашәарамза 4 рзы, аҳәынҭқарра ахада ауаажәлар идикылон.

 

Александр Анқәаб 60-ҩык идикылеит.

 

Аҳәынҭқарра ахада иусмҩаҧгарҭаҿы рырзаҳалқәа аанрыжьит даҽа 80-ҩык.

 

Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.

 

07.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Леонид Лакербаиа Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа даҭааит

 

Аҧыза-министр Леонид Лакербаиа Москва усуратә визитла иҟазаара аан Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Урыстәыла Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны ацҳаражәаҳәаҩ Игор Ахбеи иареи реиҧылара аан иалацәажәеит Урыстәылеи Аҧсни рсоциалтә-еконмикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаарақәа.

 

Игор Ахба Ацҳаражәарҭа аусуреи уи иеиҿнакаауа аусмҩаҧгатәқәеи ртәы изеиҭеиҳәеит. Иара убасгьы Игор Ахба Леонид Лакербаиа иирбеит ааигәа Ацҳаражәарҭа акоманда изаиааиз ашьапылампыл азы МГИМО аректор Иаҿа.

 

Леонид Лакербаиа Урыстәыла иҟазаара далацәажәо иазгәеиҭеит ихырҳагоу аиҧыларақәа рацәаны шимаз. Леонид Лакербаиа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа ақәҿиарақәа рзеияьеишьеит.

 

Аиҳабыра ахантәаҩы дицын аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, уи иара убасгьы аиҧылара далахәын.

 

Абри атәы «Аҧсныпресс» ахь иаарыцҳаит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа аҟынтәи.

 

06.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Леонид Лакербаиеи Татиана Гуликовеи Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит

 

Арҭ амшқәа рзы Москва усуратә визитла иҟоу Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа иахьа Урыстәыла ахада ицхырааҩ Татиана Гуликова дылҧылеит. Татиана Гуликова Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рсоциалтә-економикатә ҿиара азҵаарақәа хылаҧшра рзылуеит.

 

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара азҵаарақәа рыла аганқәа русеицура еиуеиҧшым ахырхарҭақәа.

 

Аиҧылара иалахәын: аҧсуа ган аҟынтәи- аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба; урыстәылатәи аган аҟынтәи – Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Рашид Нургалиеви Урыстәыла аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ ицхырааҩ Геннади Букаеви.

 

Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра апресс-маҵзура.

 

06.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Аминистрцәа Реилазаара Гал араион Приморск аҳабла ауааҧсыра агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵеит

 

Аминистрцәа Реилазаара Гал араион Приморск аҳабала 106-ҩык змазара маҷу ауааҧсыра агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵеит. Агәыҳалалратә цхыраара шьақәгылан акәацлых, ахш-харҵәлых, ахәыҷқәа рхәы, аконсервқәа, уҳәа убас иҵегьы.

 

Ацхыраара неигеит Аминистрцәа Реилазаара агәыҳалалратәи асоциалтәи зҵаарақәа рзы аҟәша аиҳабы Ренат Бенделиани.

 

Приморск ауааҧсыра рыхьӡала Валентина Куприанова аиҳабыра иҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы.

 

Абри атәы аанацҳауеит аиҳабыра апресс-маҵзура.

 

05.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Аҧыза-министр Леонид Лакербаиа усуратә визитла Москваҟа дцеит

 

Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа усуратә визитла Москваҟа дцеит. Уа Урыстәылатәи Афедерациа аминстррақәеи аусбарҭақәеи рҿы аиҧыларақәа мҩаҧигоит. Аиҳабыра ахантәаҩы дицуп аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

 

Абри атәы «Апсныпресс» ахь иаарыцҳаит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аҟынтәи.

 

05.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа ҩба ахәыҷқәа рыдкылара иазыхиоуп

 

Иахьа аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардани Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуеи алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Иалацәажәон аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа ҩба ахәыҷқәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу.

 

Индира Аҩардан илҳәеит ахәыҷбаҳчақәа ахәыҷқәа рыдкылара ишазыхиоу. Уажәы аҳҭнықалақь Аҵара аусбарҭа алархәны аусзуҩцәа рызҵаара аӡбара иаҿуп.

 

Индира Аҩардан иазгәалҭеит ахәыҷбаҳчақәа рҿы аусуразы акандидатцәа шыҟоу. Лара иара убасгьы илҳәеит урҭ еиқәшаҳаҭрала шықәсак ҳәа аусура ишрыдыркыло.

 

Александр Анқәаб иазгәеиҭеит ахәыҷқәа зыҩӡара ҳараку аспециалистцәа аус рыдырулар шакәу.

 

Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы дазҿлымҳан ахәыҷқәа рхәыҟаҵара знапаҿы иҟало. Иара иазгәеиҭеит ари азҵаара аҧыжәара зҭатәу азҵаарақәа ишыруаку.

 

Индиара Аҩардан иазгәалҭеит аспециалистцәа ралхра такҧхықәрала ишазнеиуа.

 

Аиҧылараҿы иара убасгьы ирзааҭгылеит аҳҭнықалақь аҿы еиҭашьақәыргыло даэа ҩ-хәыҷбаҳчак, урҭ аусура иалагоит мызкы-ҩымз рыла.

 

Аҳәынҭқарра ахада аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩи аҳҭнықалақь ахадеи ирыдиҵеит арҭ ахәыҷбачақәа рзы аспециалистцәа рыҧшаара нападыркырц.

 

Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.

 

04.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Аҳәынҭқарратә мчрақәа ахаҭарнакцәеи зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьыньџьуаи реиҧылара мҩаҧысит

 

Атәылауаҩшәҟәы аиуреи, усурҭа ҭыҧла аиқәыршәареи, иара убасгьы азинеилагаратә ҭагылазаашьеи ирызкыз аиҧылара мҩаҧысит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак аҿы рашәарамза 2 рзы. Аиҧылара аҧшьыргеит зҭоурыхтә Ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа.

 

Аиҧылара рхы аладырхәит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Оҭар Хьециа, Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадареи, ҳџьынџьуаа реимадареи рзы Жәлар Реизара ахеилак аиҳабы Иури Зыхәба, уи аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Гәынба, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа кульуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Феридун Аҟәысба, Инегиоль ақалақь аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Талат Қапба, иара убасгьы Гәылрыҧшь араион ахада ихаҭыҧуаҩ Вадим Ҳаразиа.

 

Аизара мҩаҧигон Аҧсадгьыл ахь архынҳәарзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба.

 

Зыҧсадгьыл ахь ихынҳәызи аиҳабыра ахаҭарнакцәеи ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Иҟоу ауадаҩрақәа ртәы рҳәеит арепатриантцәа Џьелал Цәышба, Аиџьан Бадиа, Шьeндуан Ажәанба убас егьырҭгьы. Атәылахьчара аминистр Оҭар Хьециеи, Жәлар Реизара адепутатцәа Иури Зыхәбеи, Дмитри Гәынбеи, Аҳәынқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеибеи ирзықәдыргылоз азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит. Абри атәы аарыцҳаит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟынтәи.

 

04.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Валери Кәарҷиа даҽазнык Жәлар Реизара адепутатс далхуп

 

Валери Кәарҷиа аиааира игеит Аҧсны Жәлар Реизарахь Баслатәи алхырҭатә ҭыҧ №21 аҿы имҩаҧгаз аиҭалхрақәа рҿы. Аиҭалхра мҩаҧган рашәарамза 3 рзы.

 

Ацентртә алхратә комиссиаҿы Аҧсныпресс ахь излаарыцҳаз ала алхыҩцәа рсиа иалан 1797-ҩык. Алхрақәа рхы рыладырхәит 1334-ҩык алхыҩцәа. Аида Ашәҧҳа лзы рыбжьы рҭиит 623-ҩык, Валери Кәарҷиа изы – 679-ҩык. Убри ала иалху депутатс дыҧхьаӡоуп еиҳа абжьы згаз акандидат- Валери Кәарҷиа.

 

04.06.2012 Аҧсныпресс

 

 Аҧшьгаратә гәыҧ Беслан Ҭарба икандидатура адепутатрахь кандидатс иқәнаргылеит

 

Иахьа хәҩык злахәыз аҧшьгаратә гәыҧ Аҧсны Жәлар Реизарахь алхырҭатә ҭыҧхада №26 ала Ҭарба Беслан Алықьса-иҧа икандидатура ықәнаргылеит. «Акандидатцәа рықәыргылара алагеит рашәарамза 2 рзы, рашәарамза 22-нӡа ицалоит. Ари раҧхьатәи аҧшьгаратә гәыҧуп акандидат дықәзыргылаз»,- аарыцҳаит «Аҧсныпресс» ахь Ацентртә алхратә комиссиаҿы.

 

04.06.2012 Аҧсныпресс