AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҟәатәи ажәлар реизара аҟынтә асахьақәа



 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь: Иахьатәи Амш – Аҧсны Жәлар рзы зегь реиҳа ихадоу ныҳәоуп

 

„Иахьатәи Амш – Аҧсны жәлар рзы зегь реиҳа ихадоу ныҳәоуп,“ – ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит, арратә парад анхыркәшаха Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

„Ари амш ныҳәа аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аибашьраҿы иҳацәҭахаз зегьы. Ари ахьыҧшымра иамшныҳәоуп. Ҳара идуӡӡаны ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Урыстәыла Афедерациа анапхгара ҳреспублика ахьыҧшымра ахьазхарҵаз. Аибашьра алагара мариоуп, аха уи ахыркәшара шыцәгьоу ҳгәаланаршәоит ари аныҳәа,“ – иҳәеит С.Багаҧшь. „Иҟалоит Аиааира аныҳәақәа , аха аибашьрақәа мап“, - иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

Ахақәиҭра Ашҭа аҟнытә аныҳәа иацҵан Аҟәа аҧшаҳәаҿы.

 

Ахәлҧаз, атеатр аҿаҧхьа имҩаҧгахоит аныҳәатә концерт. Араҟа Аиааира 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы ҿыц ишьақәыргыланы аусура иаларгоуп афонтан. Аныҳәа хнаркәшоит афеирверк.

 

30.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахьыҧшымра 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аҟәа имҩаҧысуеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа

 

Аҧсны Ахьыҧшымра 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аҟәа имҩаҧысуеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Ишьақәгылахьоу атрадициа инақәыршәаны, шьыжьаҵы Ахьӡ-аҧша апарк ауаа рацәала иҭәын. Арахь иааит араҟа анышә иамадоу аибашьра афырхацәа рыуацәа, рҭынхацәа, аҳҭны-қалақь ауааҧсыреи, асасцәеи.

 

Ахьӡ-аҧша амемориал аҿаҧхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ Р.Ҳаџьымба, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Н.Ашәба, Аҧыза-министр А.Анқәаб, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәлацәа, Ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аҳҭны-қалақь асасцәа.

 

30.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ареспублика Аҧсны Аиҳабыреи Ульиановсктәи аобласти рнапы аҵарҩит ргәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа

 

Ареспублика Аҧсны Аиҳабыреи Ульиановсктәи аобласти рнапы аҵарҩит ргәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа. Анапаҵаҩра агәырҕьаратә церемониа мҩаҧысит иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны. Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аҧсны Аҧыза-министр Александр Анқәаби Ульиановсктәи аобласт  Агәбернатор Сергеи Морозови.

 

Аиқәшаҳаҭра иазҧхьагәанаҭоит Ульиановсктәи аобласти Ареспублика Аҧсни рыбжьара ахәҳахәҭра-економикатәи, ақыҭанхамҩатәи, анаука – техникатәи усхкқәа рҟны русеицура арҭбаареи арҿиареи, иара убасгьы акультуреи, аҵарадырреи, атуризми аспорти русхкқәа рыҟны реицхыраара арҕәҕәара.

 

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониа ашьҭахь, Ульиановсктәи аобласт Агәбернатор Сергеи Морозов аҵак ду шаиҭо ажурналистцәа иреиҳәеит, иахьа Аҟәа анапы зҵаҩыу агәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа. Иара иажәақәа рыла, „иаарласӡаны ихиахоит Аҧсни Ульиановсктәи аобласти рыбжьара асоциал-економикатәи ааглыхратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

 

 

„Ҳара иаҳҭахыуп аинтерес зҵоу апроектқәа шәыдгалара, иааҳгозар автомашьынаргыларатә усхк аиҧш иҟоу, хықәкыс иҳамоуп аргыларатә техника иадҳәалоу зегьы раагара. Ҳәара аҭахыума, иаҳҭахыуп, иара убасгьы атуризм азҵаатәқәа ҳрылацәажәарц. Арахь саанӡа, аобласт абизнес ахаҭарнакцәа рҧылара еиҿыскааит. Урҭ аҳәара ҟарҵеит, Аҧсны Аиҳабыра ирасҳәарц, абизнес делегациа ду Аҧсны иаҭаарц шырҭахыу, Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь, хықәкыла урҭ ирҭахыуп аинтерес зҵоу апроектқәа шәыдыргаларц,“ – иҳәеит Сергеи Морозов.

 

Аҧсны Аҧыза-министр А.Анқәаб анапы зҵаҩу Аҧкаанҵа дазааҭгыло  Аҧсни Ульиановсктәи аобласти „ирзеиҧшу плануп“ ҳәа азиҳәеит. „Ҳара ҳазҿлымҳауп Урыстәыла Афедерациа атерриториа иахьаҵанакуа зехьынџьара ишиашоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, ҳәара аҭахыума уахь иаҵанакуеит зымчхара акыр идуу Ульиановсктәи аобласт. Иахьатәи Аиқәшаҳаҭра – раҧхьатәи шьаҿоуп абас еиҧш иҟоу аусеицуразы, хәҭакахьала, аекономика, акультура, аспорт, аҵарадырра русхкқәа рҟны. Абас еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа ҳреспублика ҧхьаҟацара акырӡа иацхраауеит,“ – инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧыза – министр.

 

30.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аиааира 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Гәдоҭа араион Лыхны ақыҭан имҩаҧысуеит аныҳәа „Лыхнашҭа“

 

Иахьа, Гәдоҭа араион Лыхны ақыҭан имҩаҧысуеит аныҳәа „Лыхнашҭа“. 13.00 сааҭ рзы арахь даауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь. Араҟа уи ирылаиҳәоит Гәдоҭа ақалақь „Ақалақь-Фырхаҵа“ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы шанашьоу.

 

Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит, иара убас Тҟәарчалгьы. 13.00 сааҭ рзы Афырхацәа рбаҟа аҿаҧхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит, уи ашьҭахь аныҳәа ахьӡала  имҩаҧгахоит аконцерт. 16.00 сааҭ рзы агәырҕьаратә еизараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, 413 мшы  аибашьра аблокада иҭакыз Тҟәарчал „Ақалақь – Фырхаҵа“ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы шанашьоу рылаиҳәоит.

 

30.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

1992-1993 ш.ш. рзтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала Тамшь ақыҭан иаадыртит агәаларшәаратә баҟа

 

Иахьа, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иаадыртит 1992-1993 ш.ш. рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала Агәаларшәаратә баҟа.

 

Амемориал агәаҟны иқәыргылоуп ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ирышьҭоу, зкасы аҩада ишьҭыхны изкыу аҧҳәыс лскульптура. Аскульптура хьӡысгьы иамоуп „Аҧсны ахақәиҭра“ ҳәа. Абаҟа аура  6,2 м. инаӡоит.

 

Амонумент авторцәас иамоуп – аскульптор Цира Ахба, архитекторцәа – Светлана Шименковеи Беслан Касланӡиеи.

 

Амемориал аартра агәырҕьаратә церемониа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ Рауль Ҳаџьымба, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра, хыҧхьаӡара рацәала асасцәа.

 

Амонумент аҟны еиқәуп иҿымцәаауа амца.

 

Аибашьра зхы ақәызҵаз рыхьӡала абаҟа аадыртит иахьа Гәлрыҧшьгьы. Абаҟа авторс дамоуп Аҧсны Афырхаҵа Тимур Чагәаа.

 

27.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

С.Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит ақалақьқәа Тҟәарчали Гәдоҭеи аҳаҭыртә хьӡы „Ақалақь-Фырхаҵа“ ҳәа рыхҵаразы

 

Иахьа, цәыббра 27 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит ақалақьқәа Тҟәарчали Гәдоҭеи аҳаҭыртә хьӡы „Ақалақь-Фырхаҵа“ ҳәа рыхҵаразы. Абри атәы аарыцҳаит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟнынтә.

 

27.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны амчрақәа ықәгылоит Ҭырқәтәылеи Аҧсни рыбжьара амшынтә мҩа аартразы

 

Ареспублика амчрақәа хықәкыс ирымоуп Ҭырқәтәылеи Аҧсни рыбжьара амшынтә мҩа аартра, уаҟа инхо ҳдиаспореи ҳареи лассы-лассы ҳаиҿцааларазы. Абри атәы иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь апарламент асессиа аилатәараҟны дықәгылауа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада, иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҵак ҷыда шаиҭо Аҧсны иаҳа ианыуадаҩу аамҭақәа рзы ацхыраара иаауа Нхыҵ Кавказ аиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла „Ҳара ҳхьыҧшымреи ҳсуверинитети азхаҵара иазхиоу, еицыфеидоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иазыхиоу зегьы рацәажәара ҳазыхиоуп“.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит,  Аҧсны егьырҭ атәылақәа ҳазхашәҵа ҳәа  рыҳәара ргәы ишҭам. Иара иажәақәа рыла, „ убри еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵатәуп атәылаҟны, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа агәра ргартә еиҧш, Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара ишаҧсоу ала“.

 

24.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Тҟәарчали Гәдоҭеи ақалақьқәа „Ақалақь Фырхаҵа“ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵахоит

 

Тҟәарчали Гәдоҭеи ақалақьқәа „Ақалақь Фырхаҵа“  ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵахоит. Абри атәы иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иахьа имҩаҧысуаз апресс-конференциаҟны.

 

С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит,“ 1992-93шш. рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан 413 мшы аблокада зхызгаз Тәҟарчал ақалақь, ақалақь Фырхаҵа – ҳәа ахьыӡ ҳаракы иаҧсоуп ҳәа.“

 

„Ақырҭуа архәҭақәа, ақалақь амацәаз иҭазкыз, агәаҟреи амлакраа бааҧси иҭадыргылеит ақалақь ауааҧсыра. Ақалақь ахәҭак иалаҳауаз абомбақәа ирыхҟьаны еилаҟәбан. Абарҭ амыҟәмабарақәа зегьы ириааины, Аиааира амш дырааигәон Тәҟарчалаа“, - иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Гәдоҭа ақалақь атәы дазааҭгыло, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит „ари ақалақь аибашьраан Аҧсны иагәеисыбжьны иҟалеит, уаҟа иҟан атәыла анапхгара реиҧш, арбџьармчқәа ркомандаҟаҵареи, арратә хәышәтәырҭа хадеи. Гәдоҭа иаднакылт Аҟәантә зықьҩыла ахҵәацәа, иара убасгьы Аҧсны Мрагылара ахәҭа аҟынтәи. Арахь иааргон абџьари, агәҳалалратә цхыраареи“.

 

Тҟәарчали Гәдоҭеи ақалақьқәа Аиааира Амш аагареи Аҧсны ахьыҧшымреи рзы иҟарҵаз рацәоуп, арҭ рыҩ-қалақьк „Ақалақь Афырхаҵа“ ҳәа ахьыӡ ҳаракы иаҧсоуп“, - инвҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

23.09.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Апарламент Латвиатәи Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵеит „Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵаразы“ иҟанаҵаз ааҧхьара иахәаҧшразы

 

Ареспублика Аҧсны Апарламент Латвиатәи Ареспублика Апарламент ахантәаҩы Гәндарс Даудзе иахь аҳәара ҟанаҵеит Аҧсны Жәлар Реизара – Аҧсны Апарламент иҟанаҵаз ааҧхьара „Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵаразы“ Латвиатәи Ареспублика Асеим ахәаҧшразы.

 

Ааҧхьара инацҵаны Ареспублика Аҧсны Апарламент аиҳабы Нугзар Ашәба Латвиатәи Асеим ахь ишьҭит Аҧсны аҳәынҭқарратә хьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵаразы аполитика-зинтә шьаҭақәа зырҵабыргуа агәрагага.

 

Аҧсны Апарламент, иара убасгьы „Иакыу Латвиа ауаҩы изинқәа рзы“ афракциа анапхгаҩы Иаков Плинер иахь аҳәара ҟарҵеит, ифракциа ахьӡала Латвиатәи Ареспублика Асеим ахь аҳәара ҟаиҵарц Аҧсны Жәлар Реизара – Аҧсны Апарламент иҟанаҵаз Латвиатәи Ареспублика Асеим ахь ааҧхьара „Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵаразы“ иахәаҧшразы.

 

23.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Цәыббра 27 рзы Тамшь ақыҭан имҩаҧысуеит 1992-93 шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала амемориалтә баҟа аартра

 

Аҟәа, Цәыббра 27 рзы Тамшь ақыҭан имҩаҧысуеит 1992-93 шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала амемориалтә баҟа аартра.

 

Амемориал агәаҟны иқәыргылоуп ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ирышьҭоу, зкасы аҩада ишьҭыхны изкыу аҧҳәыс лскульптура. Аскульптура хьӡысгьы иамоуп „Аҧсны ахақәиҭра“ ҳәа. Абаҟа аура  6,2 м.инаӡоит.

 

Амонумент авторцәас иамоуп – аскульптор Цира Ахба, архитекторцәа – Светлана Шименковеи Беслан Касланӡиеи.

 

19.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Чечентәылантә аделегациа идикылеит

 

Аҟәа, Аҧсны иааны иҟоуп Чечентәылантә аделегациа, зхадараҿы дыҟоу ареспублика аҧыза-министр Одес Баисултанов. Иахьа аделегациа идикылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

„Ҳара Аҧсныҟа ҳааит, Ареспублика Чечентәыла Апрезидент Рамазан Кадыров ихьӡала аҧсуа жәлар ирыдаҳныҳәаларц Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара. Ҳара ишәзеиҕьаҳшьоит аҭынчреи, аизҳазыҕьареи,“ – иҳәеит Чечниа аҧыза – министр Одес Баисултанов, Гагра ақалақь аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иҧылараан.

 

Уи даҧхьеит Чечниа Апрезидент ихьӡала адныҳәаларатә аашьҭымҭа.

 

С.Багаҧшь асасцәа рвизит азы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, аҧсуа жәлар иахьа иҳалҳаршаз зегьы рҟны иҳавагылан Нхыҵ – Кавказ аиашьаратә жәларқәа. Аҧсуа жәлар аҧсреи-аӡреи ианрыбжьагылаз, ацхыраара ҳәа раҧхьа имҩахыҵқәаз ачечен жәларьы рылан“, - инаҵшьны иазгәеиҭеит уи.

 

Баисултанов иажәақәа рыла, ачечен жәлар рделегациа иахьа арахь раара адҳәалоуп Аҧсни Чечниеи рыбжьара аекономикатәи, аполитикатәи, акультуратәи еимадарақәа рырҿиара. „Ҳара ҳхаҭа ҳанысит иуадаҩыз амҩа, ихырбганы иҟаз аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҿы. Ҳара уи аҟны иҳамоуп аҧышәа ду, уи шәара ишәымаадарц ҳҭахыуп“, - иҳәеит аҧыза-министр. Уиадагьы, Чечниа анапхгара ргәы иҭоуп Аҧсны афинанстә цхыраара азыҟаҵара.

 

Иара убасгьы иазгәарҭеит ҩ-республикак рыбжьара аҧсылмантә доуҳатә усеицура рыбжьаҵара. Абри атәы иҳәеит Ареспублика Чечниа амуфтии Султан Мирзаев. Уи дырҧылеит Аҧсны аҧсылмантә доуҳатә еидгыла амаҵзуцәа, уаҟа ирылацәажәеит наҟ-наҟтәи аусеицура азҵаатәқәа. Султан Мирзаев, иара убасгьы иҳәеит Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа рыхьӡала, ҳамҭак аҳасабала Рамзан Кадыров аџьаама аргылара игәы ишҭоу.

 

Аиҧылара ахыркәшамҭаз асасцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәбеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранаршьеит.

 

Иахьаҵәыҟьа Чечентәыла аделегациеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи амҩа иқәлеит Шәачаҟа, аекономикатә форум аҽалархәразы.

 

19.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аделегациа алахәхоит „Черкес амш“ Бриуссель Европарламент аҿы имҩаҧысуа

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаполитикатә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Виачеслав Чирикбеи, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиеи, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Сенер Гогәуеи Бриуссельҟа ицоит, жьҭаарамза 6 рзы Европарламент аҟны имҩаҧысуа „Черкес Амш“ аҽалархәразы. Ари аусмҩаҧгатә аҿы иарбоуп Европарламент алахәлацәа рҧылареи, иара убасгьы жәларбжьаратәи аусқәа рзы Европарламент Аиҿкаара ахантәаҩы Иацек Сариуш-Вольскии иҧылареи.

 

Сенер Гогәуа адырра злаҟаиҵаз ала,“ҳара иҳауеит аҭагылазаашьа Европарламент адепутатцәа Аҧсны аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧысуа ахҭысқәа рзеиҭаҳәареи, иара убасгьы уи аҿиара аперспективақәа рдырдырреи“.

 

18.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны абардырратә визитла дааит Ареспублика Чечентәыла Аиҳабыра рхантәаҩы Одес Баисултанов

 

Аҟәа, Аҧсны абардырратә визитла дааит Ареспублика Чечентәыла Аиҳабыра рхантәаҩы Одес Баисултанов. Уи дымҩаҧыргоит Ареспублика Чечентәыла ажәларқәа Рассамблеиа ахантәаҩы Дуквах Абдурахманови Чечентәыла аҧсылмантә доуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Султан Мирзаеви. Абри атәы ааицҳаит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба. Иара иажәақәа рыла, уаҵәы Гагра Ахадараҟны имҩаҧысуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Ареспублика Чечентәыла аделегациеи реиҧылара.

 

„Чечентәыла аиҳабыра рделегациа хықәкыс ирымоуп ҳреспублика аҭагылазаашьа аҭҵаара, Аҧсны ацхыраара зларҭаша аилкааразы“, - азгәеиҭеит Ашәба.

 

18.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Багаҧшь: Урыстәыла – ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи аҭышәынтәалареи иргарантуп

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭрақәа Кремль рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аҧсны иргылахоит идемократиатәу изинтәу аҳәынҭқарра ҳәа.

 

Багаҧшь, ажәларқәа рыбжьара Урыстәыла аҭынчреи аҭышәынтәалареи иргарантуп азиҳәеит. „Сара Урыстәыла иазеиҕьасшьарц сҭахыуп аҭышәынтәалареи амчи. Урыстәыла аныҕәҕәоу, зехьынџьара уи акәша-мыкәша аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҟалоит, иҟалоит ажәларқәа рыбжьара апатуеиқәҵара,“ – иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

17.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла анапы аҵанаҩит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа

 

Аҟәа, Урыстәыла Афедерациа, ахашаҽны, цәыббра 17 рзы, анапы аҵанаҩит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рҟны аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа. Кремль имҩаҧгаз агәрҕьаратә церемониаҟны, адокәментқәа рнапы анырҵеит Урыстәыла Апрезидент Дмитри Медведеви, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни Рҳәынҭқаррақәа Рхадацәа Едуард Кокоитыи Сергеи Багаҧшьи.

 

Урыстәыла Афедерациа инарҭбаау аиқәшаҳаҭрақәа ирыҵаркуеит 30 статиа рҟынӡа. Наҟ-наҟтәи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҭыҧ иқәҵахоит  хыҧхьаӡара рацәалатәи аусбарҭабжьаратәии еиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рыла. Аиқәшаҳаҭрақәа рҟны иарбоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҿы аусеицуреи, аҳазалхреи, ацәгьаҟаҵара иаҿагыланы ақәҧареи, анаркотикатә маҭәашьарқәа зинда реиҭарсреи русхкқәа рҟны.

 

17.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара аҳаҭыразы Иосиф Кобзон Аҟәа имҩаҧигеит аконцерт

 

Аҟәа, Иосиф Кобзони Урыстәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аҩныҵҟатәи архәҭақәа рышәаҳәареи рыкәашареи Академиатә ансамбли рконцерт мҩаҧысит Аҟәа, цәыббра 16 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы.

 

Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, амилаҭқәа русқәа рзы аиҿкаара ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ, аинрал-полковник Аркадии Баскаев аконцерт аартуа иазгәеиҭеит, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара иазыҧшуижьётеи акырӡа шҵуа. „Ҳара Аҳәынҭқарратә Думаҟны еицҿакны ҳабжьы ҳҭиит шәара шәхьыҧшымра азхаҵаразы, избанзар еилахқаауеит, Аҧсны шаҧсоу ҭынч анхара“, - иҳәеит аинрал. Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ахьӡала, Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит ахьыҧшымра азхаҵара, ирзеиҕьаишьеит аҭынчреи, аизҳазыҕьареи.

 

Аконцерт хацнаркит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашәақәеи, еиуеиҧшым акәашаратә композициақәеи рынагӡарала.

 

„Аҧсны – уара ҳуыцуп,“ – абарҭ ажәақәа рыла асценахь дцәырҵит, аконцерт аҧшьгаҩ СССР жәлар рартист, Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Иосиф Кобзон. „Урыстәыла агәмшәара аарҧшны, Аҧсны ахьыҧшымра раҧхьа иазханаҵеит. Урыстәылеи Аҧсни еымша еицыҟазаауеит. Нагӡара Ақәзааит Урыстәылеи Аҧсни реиҩызара. Сара исҭахыуп Аҧсны аибашьра ианнаҵаз ахәрақәа лассы иҕьарц,“ – инаҵшьны иазгәеиҭеит Иосиф Кобзон.

 

Аконцерт иалахәызи ахәаҧшцәеи минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит, Аҧсны ахьыҧшымра зхы ақәызҵази Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧгаз агрессиа иалаӡызи.

 

Иосиф Кобзон Аҧсны анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәа аконцерт аиҿкааразы иҟарҵаз ацхырааразы.

 

Ахашаҽны, Иосиф Кобзони Урыстәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аҩныҵҟатәи архәҭақәа рышәаҳәареи рыкәашареи Академиатә ансамбли аконцерт мҩаҧыргоит Цхинвал ақалақь аҟны.

 

Акультура аминистр Н.Логәуа Иосиф Кобзони Урыстәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аҩныҵҟатәи архәҭақәа рышәаҳәареи рыкәашареи Академиатә ансамбли ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны ахьыҧшымра аҳаҭыразы, Аиааира 15 шықәса ахыҵра аламҭалазы имҩаҧыргаз аконцерт азы.

 

17.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ихыркәшахеит Аҧсны арра-ҳаиртә мчқәа планла ирзарбаз азыҟаҵарақәа

 

Аҟәа, Аҧсны ихыркәшахеит арра-ҳаиртә мчқәа планла ирзарбаз азыҟаҵарақәа, – ҳәа адырра ҟаиҵеит атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, арратә шаб хада аиҳабы Анатолии Заицев.

 

Ҩымш ирылагӡаны аус рыдырулон ашьха-абнатә ҭыҧқәа рҟны аҕа идиверсиатә гәыҧқәа рыҧшаареи, иара убасгьы урҭ авиациатә ааха рыҭареи аусхкқәа.

 

Азыҟаҵарақәа напхгара риҭон арра-ҳаиртә мчқәа рштаб аиҳабы Сергеи Подпругин. Уи азыҟаҵарақәа „ибзиоуп“ ҳәа ахәшьара риҭеит.

 

17.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Амилаҭ маҷқәа русқәа рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар Аҧсуа бызшәа аҿиара иацу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы ацхырааразы ажәалагала ҟаиҵеит

 

Аҟәа, Амилаҭ маҷқәа русқәа рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебек усуратә визитла Аҧсны дааны дыҟоуп. Иреиҳаӡоу Акомиссар дылҧылеит Аҧсны аҵарадырра аминистр Индира Аҩардан.

 

Кнут Воллебек иҭиҵаауан Гал араион аҟны аҵарадырра аҭагылазаашьеи, иара убасгьы араион аҟны ақырҭуа бызшәа аҵара аҭагылазаашьеи.
 

Индира Аҩардан Кнут Воллебек илырдырит ареспубликаҿы аҵарадырра асистема, убри аан уи иазгәалҭеит „Гал араион аҟнытәи аҵаҩцәа рзинқәа шыларҟәым, урҭ ишырҵо ақырҭуа бызшәеи алитературеи“.
 

Аҵарадырра аминистр иазгәалҭеит, Урыстәыла ареспублика ашколқәа ацхыраара шрырҭо, аматериал – техникатәи, рҵага шәҟәлеи, арҵага-методикатә литературеи рыла реиқәыршәара убрахь иналаҵаны.
 

Иреиҳаӡоу Акомиссар, иара убасгьы ажәалагала ҟаиҵеит аҧсуа бызшәа аҿиараҟны ацхыраареи адгылареи шыҟаиҵо ала.
 

Аҵара аминистр апатын Воллебек иҟаиҵаз ажәалагала ҭабуп ҳәа ахҳәаауа иазгәалҭеит, „ аҧсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә программа Аҧсны аиҳабыра иахәҭоу финансла ишеиқәдыршәо“.
 

Акадрқәа разыҟаҵаразы ареспубликаҿы аҭагылазаашьа шҧаҟоу ҳәа Иреиҳаӡоу Акомиссар изҵаара аҭак ҟаҵо Аҩардан илҳәеит , „ Иахьа Ареспубликаҿы иҳамоуп Иреиҳау Аҵараиурҭақәа ҩба, иара убасгьы аушьҭымҭацәа Урыстәыла Афедерациа Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны есышықәса лимитла иҭалоит,“ –ҳәа.

 

17.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Сергеи Лавров: Урыстәыла Афедерациа иалнаршом Аҧсны дгьыл аҟны даҽазнык ашьа каҭәарц

 

Аҟәа, Урыстәыла Афедерациа иалнаршом Аҧсны дгьыл аҟны даҽазнык ашьа каҭәарц, - иҳәеит усуратә визитла, цәыббра 14 рзы Аҧсны иааз, Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

 

Иара иажәақәа рыла, Аҧсни Урыстәылеи СССР аилаҳареи уи иацыз ауадаҩрақәеи еицырхыргеит, иахьа Урыстәыла азҿлымҳауп ихьыҧшым Аҧсны атерриториаҟны аҭышәынтәалареи аҭынчреи реиқәырхара..

 

Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Лаврови Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи хазхаҭалатәи реицәажәара ашьҭахь, имҩаҧган Аҧсны аиҳабыреи, Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи инарҭбаау реилатәара. „Ҳаҧхьаҟа иаҳзыҧшыуп иамриам аусқәа, ҳара ҳазыхиоуп урҭ азҵаарақәа зегьы реицыӡбара,“ – иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

С.Лавров ҭабуп ҳәа реиҳәеит адкылара ҧха иҟарҵаз азы,  инаҵшьынгьы иазгәеиҭеит аделегациақәа ргәы ишҭоу, ааигәа Урыстәыла Апрезиденти Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи ишьҭырхыз апроблемақәа зегьы рылацәажәара.

 

Иара иажәақәа рыла, Москва ҕәҕәала иқәныҟәоит „Медедев–Саркози“ аплан адҵаҟаҵарақәа, иагьышьақәирҕәҕәеит урҭ рыхәҭак шынанагӡахьоу.

 

С.Багаҧшь Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада изеиҭеиҳәеит, иахьа Гал араион аҟны аҭыҧ змаз атеракти, уи иахҟьаны Урыстәылатәи абжьаҟазацәа ртехника ааха иаиузи. С.Лавров иазгәеиҭеит, Урыстәыла Аҧсны ашәарҭара аҧырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа шаднакыло, агәгьы ишҭоу урҭ ҕәҕәала рықәныҟәара.

 

14.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Лавров адырра ҟаиҵеит, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни дшырҭаауа ала, Урыстәыла Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакрақәа раартразы

 

Аҟәа, Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Лавров иаарласны дырҭаауеит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни, Урыстәыла Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакрақәа арҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы раартразы. Абри атәы цәыббрамза 11 рзы ажурналистцәа иреиҳәеит уи.

 

„Сара планс исымоуп Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҭаара“, - азгәеиҭеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакрақәа русура ишахәҭоу еиҧш реиҿкааразы „аҭыҧан аҭагылазаашьақәа ҭҵаатәуп“. „Аҧсны уи аартра алыршахоит, аха Цхинвал уи иахәаҧштәхоит“, - иациҵеит аминистр.

 

12.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа Аиааира Ашҭаҟны имҩаҧысуеит арратә парад аҽазыҟаҵарақәа

 

Аҟәа, Аҟәа имҩаҧысуеит Ахьыҧшымра 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы, цәыббрамза 30 рзы Аиааира ашҭаҟны имҩаҧысраны иҟоу арратә парад аҽазыҟаҵарақәа. Уи иалахәхараны иҟоуп зықьҩыла аруаа аррахкқәа зегьы рыҟнытә, иара убасгьы атанкқәа, артиллериатә мца ареактивтә шьақәгылазаашьақәа, аҧшыхәратә техника, аибашьыгатә авиациеи, аибашьыгатә ҳаирпланқәеи. Арратә штаб хада Аиҳабы аинрал – полковник Анатолии Заицев иажәақәа рыла, апарад аҽазыҟаҵара хада мҩаҧгахоит цәыббрамза 28 рзы.

 

Цәыббра 30 рзы, 413 мшы ицоз аҧсуа – қырҭуа еибашьра еилгеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит.Аҧсны аганахьала, аибашьраҟны иҭахеит 3 нызқьҩыуаак , ахәрақәа роуит 5 – нызқьҩыуаак. Абри амш аҽны Аҧсны ахьчаҩцәа, Қырҭтәыла архәҭақәа цҟьаны, Ареспублика атерриториа  аҟнынтә иалцаны, Аҧсны Ахәынҭқарра аҳәааҟны иахадыргылеит Ареспублика Аҧсны Абираҟ.

 

Аҧсуаа  хатәгәаҧхарала иааны ирыцеибашьуан Нхыҵ Кавказынтә, Алада Урыстәылантә, Москвантә, Санкт – Петербургынтә, Ҭырқәтәыла, Сириа, Германиа рыҟнытә аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

 

Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵаз инадҳәаланы, цәыббрамза 30 Аиааира Амш, мамзаргьы Аҧсны Ахақәиҭра Амш ҳәа ахьыӡ ҧсаххарц алшоит. Арҭ азҵаарақәа апарламент аҟны ирылацәажәоит. Аҧсны ахьыҧшымра Амш – нанҳәа 26 рзы  иазгәаҭахаларц алшоит.

 

12.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 „Метрак иадамхаргьы ақырҭуа дгьыл“ Аҧсны иаҭахӡам, агәра диргеит Сергеи Багаҧшь

 

Аҟәа, „Метрак иадамхаргьы ақырҭуа дгьыл Аҧсны иаҭахӡам“. Абри атәы иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь адискуссиатә клуб „Валдаи“ алахәлацәа рҧылараан.

 

„Ҳара атәым дгьыл ҳашьҭам,. аха ҳара иаҳтәу атерриториагьы уаҩы иаҳҭом“, - иҳәеит уи ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо. Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари ареспублика апозициахь иаҵанакуеит аҳәаа иаҧну араионқәа Гали Кәдры аиҩхааи ҳәа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, аидысларақәа раан „Ҳара Егры аӡиас ҳарит, аха ҳашьҭахьҟа ҳтерриториахь ҳгьежьит“ хәа.

 

11.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны раҧхьаӡа акәны иалахәуп Жәларбжьаратәи анаука-ааглыхратә форум – ихьыҧшым субиектк аҳасабала – Аҧыза министр ихаҭыҧуаҩ А.Страничкин

 

Аҟәа, Аҧсны раҧхьаӡа акәны иалахәуп Жәларбжьаратәи анаука-ааглыхратә форум – ихьыҧшым субиектк аҳасабала. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин. Уи далахәуп, иахьа ,Нижнии Новгород иаатуа 13-тәи жәларбжьаратәи анаука-ааглыхратә форум.

 

Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ иажәақәа рыла,аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уи аекономикатә ҿиара ҕәҕәала ианыҧшит. Абас еиҧш аамҭа уадаҩқәа раангьы, ареспублика аус рыцнауан жәпакы Урыстәылатәи аобластқәа. Иааҳгозар Нижегородсктәии, Волгоградтәии аобластқәа уҳәа убас егьырҭгьы.

 

Аҧыза – министр ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит, Аҧсни Нижегородсктәии аобласти рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы аиқәшаҳаҭра шышьақәгылоу. Уи аҳәаақәа ирҭагӡоуп, ареспублика атерриториаҟны нижегородсктәии ахәҳахәҭцәа алархәны  аекономикатә проектқәа раларҵәара. Убас еиҧш проектны иарбоуп Аҧсны инарҭбаау аҧсаатәааӡарҭатә фабрика аргылара, Нижегородсктәии аинвесторцәа алархәны.“Аҧсны аибашьра ҟалаанӡа, ареспубликаҿы аус руан аҧсаатәааӡарҭатә фабрикақәа ҩба. Уажәазы урҭ ыҟам. Иахьазы ҳгәы иҭоуп урҭ реиҭашьақәыргылара“, - иазгәеиҭеит А.Страничкин.

 

Страничкин иҳәеит, Ареспубликаҿы аполитика – аекономикатә ҭагылазаашьа макьана иуадаҩзаргьы, Аҧсны уажәшьҭа иамоуп Красндари Москвеи рҟны ацҳаражәҳәарҭақәа. Арҭ амшқәа рзы, Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаҧысуеит, иара убасгьы Москвеи Аҧсни рыбжьара аимадарақәа шьақәыргылахоит ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡарала, иазгәеиҭеит аҧыза – министр ихаҭыҧуаҩ.

 

10.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Никарагәуа Апрезидент Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианиҵеит итәылеи Аҧсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ашәҟәu

 

Аҟәа, Никарагәуа Ареспублика аиҳабыра „рсуверентә зинқәа ахархәара рыҭаны, адунеи ажәларқәа рхьыҧшымреи рхатәҳәаақәҵареи рзы ООН Аҧҟаҧҵа ишьақәнарҕәҕәаз инақәыршәаны, Ареспублика Аҧсны аиашьаратә жәлар рхьыҧшымра азхарҵоит“. Абри атәы аҳәоит Ареспублика Никарагәуа Апрезидент Иҧҟаҧҵа /№ 47-2008/, Ареспублика Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Аҧсныпресс ахь анашьҭымҭаҟны.

 

Никарагәуа Апрезидент Даниель Ортега Сааведра дадгылоит, иазхаиҵоит „аиашьаратә Республика Аҧсны адунеи ауаажәларра рҟны ихьыҧшым иҿыцу амилаҭқәа рлахәла ҿыцк аҳасабала“

 

Атәыла Ахада Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Мануел Карнел Каутца инапы ианиҵеит „ари ахьыҧшымра азхаҵара ахыркәшаразы иаҭахыу шәҟәыла еиқәыршәаны, аешьаратә Республика Аҧсны аҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара нап аиркырц“.

 

„Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни разхаҵара ашьҭахь, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аҿиашьа инамаданы, Никарагәуа апрезидент инаҵшьны иазгәеиҭеит, „Москва ахымҩаҧгашьа „хырхарҭас ишамоу еиҿцәажәаралеи, ҭынчымҩалеи апроблема аӡбара“. Аха убри аан Мраҭашәара „азаҳаҵ-ҳаҵоит Урыстәыла ахымҩаҧгашьа еицакны адунеи арбара“.

 

09.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылеи Аҧсни рпарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра хадара злоу фактуп ҳәа азиҳәеит Нугзар Ашәба

 

Аҟәа, Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Аҧсны Жәлар Реизареи „Апарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра“рнапаҵаҩра хадара злоу фактуп ҳәа азиҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба. Абри атәы иҳәеит Аҟәа имҩаҧысуаз апресс-конференциаҟны.

 

Иара иажәақәа рыла,  иахьанӡа ас еиҧш еиқәшаҳаҭра ҳәа акагьы рнапы аҵарымҩыцызт“.

 

„Уаанӡа, Урыстәыла Афедерациа асубиектқәа хаз игоу рзакәанҧҵаратә еизарақәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа ҳнапы рыҵаҳаҩхьан, иааҳгозар, Владимировтәи,Ивановтәи,  Калининградтәи аобластқәеи, Нхыҵ Кавказтәи Ареспубликақәеи. Иара убасгьы, Ҳара Нхыҵ –Кавказтәи апарламенттә Ассоциациа ҳалахәылацәоуп, иаҧаҳҵеит Приднестровиа- Молдовиатәи Ареспубликеи, Аахыҵ – Уаҧстәылеи Аҧсни рпарламентбжьаратә Ассамблеиа“, - азгәеиҭеит Н.Ашәба.

 

„Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵази, апарламентбжьаратә еиқәшаҳаҭра ахьҳабжьаҳҵази – ари шьаҿа ҕәҕәоуп азакәанҧҵараҿы“, - ҳәа азгәеиҭеит  Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы. Уи адырра злаҟаиҵаз ала, иахьазы Аиқәшаҳаҭра апункҭқәа рынагӡаразы акомиссиа аҧҵара иаҿыуп.

 

09.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Апарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳҭр рнапы аҵарҩит Афедерациа Ахеилаки Аҧсны Жәлар Реизареи Рхадацәа

 

Аҟәа, Апарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак  Аиҳабы Сергеи Миронови Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәбеи. Урыстәылеи Аҧсни рпарламентарицәа еиҧылеит Афедерациа Ахеилак аҟны С.Миронов иофициалтә ааҧхьарала.

 

Ари усеицуратә Еиқәшаҳаҭроуп, хырхарҭасгьы иамоуп ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аполитикатәи, агәманитартәи, асоциал-економикатәи еизыҟазаашьақәа рырҵаулара, ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит С.Миронов. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, „аҩ ҳәынҭқаррак рымчратә еиҿкаарақәа хра злоу аимадарақәа рышьақәыргылара иацхраауеит“ – ҳәа.

 

Аҩашаҽны, абри аҩызаҵәҟьа Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аахыҵ Уаҧстәыла апарламент. Ари Аиқәшаҳаҭра иазҧхьагәанаҭоит аусеицуразы еснагьтәи Акомиссиа аҧҵара. Иазҧхьагәаҭоуп, абри аиҧш акомиссиа аҧҵазарц Аҧсны Жәлар Реизара азынгьы, ҳәа ИТАР –ТАСС ахь адырра ҟаиҵеит Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара аусқәа рзы Аиҿкаара ахантәаҩы Вадим Гәстов. Уи аиҿкаара анапы ианҵоуп Урыстәыла акомиссиа реилазаара аҧҵара. Арҭ акомиссиақәа рыцхыраарала иҳәаақәҵахо аусеицура аҵак ҷыда  азгәаҭаны, аилазаара аҧҵаразы ажәалагалақәа Урыстәыла апарламент аҩадатәи апалата ахеилак аҟны иахәаҧшуеит, нас Афедерациа Ахеилак ҭагалантәи аилатәараҟны.

 

Миронов инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рзакәанҧҵаратә делегациақәа „Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа“ рхаҭарнакцәа раҳасабала Урыстәыла иаҭаалоит ҳәа.

 

05.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны азҿлымҳауп Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиа ареспубликаҿы раанхара

 

Аҟәа, Аҧсны азҿлымҳауп Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиа аринахысгьы рнапынҵақәа рынагӡара иацырҵарц. Абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба. Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, ООН ахылаҧшрала абжьаҟазаратә процесс аҵаки, насгьы аринахысгьы Аҧсны шазҿлымҳау ақырҭуа – аҧсуа еимакы  аҭышәныртәаларазы аиҿцәжәарақәа рыҵҵара.

 

„Аҵыхәтәантәи аамҭазы,иҳазцәырҵит азҵаатәқәа рацәаны, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда ихаҭыҧуаҩ Иво Петрови ҳареи еицаҳаӡбаша“, - иҳәеит Шамба.

 

„Аринахыстәи Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӡбатәуп.Ашәарҭадара азҵаатәқәеи, аекономикатә реабилитациеи, уаанӡа еицаҳаӡбахьази рактуалра рыцәмыӡзеит. Урҭ уажәгьы амшхәаҧштә азҵаатәқәа ируакыуп, рыӡбарагьы аҭахыуп“, - иазгәеиҭеи Шамба.

 

04.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 С.Багаҧшь Черкесскҟа амҩа дықәлеит, Ҟарачы-Черкессктәи Ареспублика Ахәынҭқарра Ахада имаҵурахьы инеира иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа иҽрылаирх

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Черкесскҟа амҩа дықәлеит, Ҟарачы-Черкессктәи Аҳәынҭқарра Ахадас иалхыу Борис Езбеев имаҵурахьы инеира иадҳалоу аусмҩаҧгатәқәа иҽрылаирхәразы.

 

Амассатә - информациатә хархәагақәа рҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа адырра злаҟаиҵаз ала, иахьаҵәҟьа С.Багаҧшь Москваҟа амҩа дықәлоит, Урыстәылеи Аҧсни рҳәынҭқарраеизыҟазаашьа азҵаарақәа рзы аконсультациақәа рыцҵаразы.

 

04.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Агәҳалалратә цхыраара аидара зқәу амашьына Цхинвалҟа амҩа иқәлеит

 

Аахыҵ Уаҧстәыла ааха зауз рзы агәҳалалратә еидара зқәу амашьына амҩа иқәлеит.

 

Ақалақь ахада Алиас Лабахәуа адырра злаҟаиҵаз ала, агәҳалалратә цхыраара ахыҧхьаӡараҿы иҟоуп ахәҷқәеи адуцәеи рзы амаҭәеи ашьаҵеи, асаанмаҭәеи, ахәмаргақәеи уҳәа убас егьырҭгьы..

 

Аидара мҩаҧигоит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутат Амиран Какалиа.

 

Акциа еиҿыркааит – Ақалақь Ахадареи Ақалақьтә Еизареи. Агәҳалалратә цхыраара аизгара акциа мҩаҧысуан нанҳәа 14 инаркны.

 

04.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Аҧсны Жәлар Реизареи апарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит

 

Уаҵәы, Москва имҩаҧысуеит Урыстәыла Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Аҧсны Жәлар Реизара анапхгареи рпарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониа.

 

Иахьа, Аҧсны апарламент аделегациа, зхадараҿы дыҟоу уи Аиҳабы Нугзар Ашәба Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы Москваҟа ицеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп, иара убасгьы, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәбеи, Аҧсны Жәлар Реизара Аусбарҭа анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи.

 

Аҧсны Апарламент ахаҭарнакцәа ааҧхьара риҭеит Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Сергеи Миронов.

 

Миронов ааҧхьара-ашәҟәаҿы дазааҭгылеит Урыстәылеи Аҧсни рзакәанҧҵаратә еиҿкаарақәа рпарламентбжьаратә еиҿцаарақәа  шхадароу. Уи дшазыхиоу иҳәеит „аусхкқәа зегьы рҟны еицырзыфеидоу аусеицура арҭбааразы илшо зегьы шыҟаиҵо“.

 

03.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 „Кавказ имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы рзы ахара рыдуп Қырҭтәыла бџьарла еиқәзыршәоз атәылақәа“,- ҳәа иҧхьаӡоит С.Багаҧшь

 

„Кавказ имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы рзы ахара рыдуп Қырҭтәыла бџьарла еиқәзыршәоз атәылақәа“- ҳәа иҧхьаӡоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

„Ҳара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла иадаҳгалон аибашьра аиҭамырҿыцреи, аҭынчреи рзы Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵарц, аха Қырҭтәыла апровокациақәеи, атеррори, аибашьреи рыла зполитика шьақәзыргыло уи иақәшаҳаҭымхеит. Ҳара ҳрыҳәон Мраҭашәара атәылақәеи ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада иҩызцәа Ргәыҧи Қырҭтәыла бџьарла еиқәыдмыршәаларц, избанзар, ҳара иаадыруан уи абџьар зегьы ҳара ҳашҟа ишхаз,“ – иҳәеит С.Багаҧшь аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ргәыҧ азы еиҿкааз апресс-конференциаҿы.

 

Косово ахьыҧшымра азхаҵара ушҧазыҟоу ҳәа ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо Багаҧшь иҳәеит: „Аҧсны амчрақәа есымшагьы ирҳәон, илырхыз ахьыҧшымра амҩа ианыҵраны ишыҟам, Косово азҵаара шыӡбахазаалакгьы“. Убри аан,  Багаҧшь иажәақәа рыла, Косово ахьыҧшымра азхаҵара ашьҭахь, аҧсуаа еиҳагьы агәра рго иалагеит, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵарагьы дук ишыхарам.

 

Аҧсны наҟ-наҟтәи аҧеиҧш атәы даӡааҭгыло, Багаҧшь иҳәеит: „Аҧсны амчрақәа  ажәлар ргазыҳәара ауп аҧыжәара зырҭо. 1999 шықәсазы жәларызегьтәи рреферендум аҟны, ажәлар рыбжьы рҭиит ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы“. Багаҧшь изныкымкәа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Қырҭтәылеи Аҧсни реицынхара аринахыс ишзалымшо. „Ҳара иҳаргыларц ҳҭахыуп ихьыҧшым, идемократиатә ҳхатәы ҳәынҭқарра, жәларык раҳасабала ҳаиқәхаразы, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, ҳҭоурыхи реиқәырхаразы,“ – иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

02.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Европатәи атәылақәа рҟны инхо аҧсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Реидҵа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыжәларқәа ирыдырныҳәалоит рхьыҧшымра

 

Европа атәылақәа рҟны инхо аҧсуа-абаза диаспора ахаҭанакцәа реидҵа «Pro Abkhazia», Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рыжәларқәа ирыдырныҳәалоит акыршықәса иззыҧшыз рхьыҧшымра.

 

„Ҳажәларқәа рхаҭарнакцәа ахьыҟазаалакгьы еибаргәырҕьоит еидырныҳәалоит. Адунеи ахсаала еиҭах ианылаз акыр гәаҟра зхызгахьоу арҭ атәыла маҷқәа наҟ-наҟтәи рҧеиҧш ргыҕра дуқәа  адырҳәалоит. Ижәытәӡатәиу ҳҭоурых еиҭах иҳанаҭеит ашанс ҳхатәы ҳәынҭқарра аиуразы,“ – иазгәаҭоуп Германиантәи иааз адныҳәалараҿы.

 

Ашәҟәы авторцәа инаҵшьны иазгәарҭоит, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара – „ ари рыбзоуроуп ианаҭахха зыҧсҭазаара Аҧсадгьыл ахақәиҭра иақәызҵаз, уи рыбзоуроуп калам ҧынҵала аҭоурыхтә иаша зегьы ирызназгоз, аиҿцәажәарақәа рҟны аиаша аилкаара иашьҭамыз рҟынӡа анагара зҽазызшәоз, уи рыбзоуроуп ааҧсарада ҳхықәкы анагӡаразы ажәлар ираҧхьагылаз“.

 

Иара убасгьы, аҧсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа иџьаршьоит, иахьа аимадара абас еиҧш ахархәара анамоу аамҭазы, иҿиоу атәылақәа рҟны афактқәа еицакны рызнагара ахьалыршоу.

 

„Ҳажәлар ирзыҧшыуп еиҭахгьы аусура ду – уажәшьҭа адунеи ахьынӡа-наӡаазо зегьы аҟны. Мраҭашәарантәгьы уажәшьҭа уаҩы иаҳауа иалагеит аиаша быжьқәа. Уи агәыҕра ҳнаҭоит, адунеи ауаажәларра рыҟны иҳауп азхаҵара ҳәа.“

 

01.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иаарласны аусура иалагоит Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза

 

Иаарласны аусура иалагоит жәларбжьаратәи аҳаибаҕәаза „Сухум“ – ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳәынҭнаплакы „Аҧсуа ҳаирцәаҳәақәа“ Реиҳабы Виачеслав Ешба.

 

Ешба ишьақәирҕәҕәеит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзынӡа Аҟәатәи аҳаирбаҕәазаҿы итәоз ООН-аа рҳаирмҩангагақәа ракәын ҳәа. Убри аан уи иазгәеиҭеит, рымаҵ руырц шрылшоз егьырҭ еиуеиҧшым аҳаирпланқәеи жәларбжьаратәи авиареисқәеи ҳәа. „Уажәшьҭа, Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра аназханаҵа, Ареспублика анапхгара Урыстәыла Афедерациа анапхгареи аекспертцәеи рҟны имҩаҧыргаз абжьгарақәа рышьҭахь, иӡбоуп  апассажиртә мҩангагақәа реиҭарҿыцра.

 

„Раҧхьатәи аамҭақәа рзы, аусура иалагоит ибжьаратәу амҩангага ҳаирпланқәа 150-ҩыуаак рҟынӡа апассаџьыр зкуа. Ари мызкы, мызки бжакыи рыла иӡбахоит,“ – ишьақәирҕәҕәеит Ешба.

 

Авиабилеҭқәа рыҳәҧса атәы дазааҭгыло, Ешба иазгәеиҭеит, абилеҭқәа рыхәқәеи урҭ ртарифқәеи шьақәдыргылоит ҳара ҳахь иҧырраны иҟоу аҳаирпланқәа зтәу“. Актәи аетап аан, аҳәынҭдиректор излеиҳәаз ала, проблема ҳәа акагьы ҟамлароуп, аха аҧхьаҟа аҳаирбаҕәаза амаҵ ауразы иаҭаххоит ауаа рацәа. „Авиациатә шәарҭадара аиқәыршәара амаҵзура мацара иаҭаххоит 120-ҩыуаак иреиҵамқәа аусуцәа.“

 

01.09.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада