AҦCУAA  PЫБЖbbI

                                   -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт



 

 Аҟәа Ареспубликатә стадион аҟны имҩаҧысит жәларбжбаратәи акласс азҟаза Ахра Цәеиба икәбок азы раҧхьатәи жәларбжьаратәи атурнир

 

Цәыббра 5 рзы Аҟәа Ареспубликатә стадион аҟны имҩаҧысит жәларбжбаратәи акласс азҟаза Ахра Цәеиба икәбок азы раҧхьатәи жәларбжьаратәи атурнир. Атрнир иалахәуп 8 командак: “Абазг” (Аҟәа ақ.),аолимпиал резерв азы Ахәыҷтәы қәҧштә школа №5 (ақ.Краснодар), ашьапылампыл азы ақәҧшцәа разыҟаҵара ацентр (ақ.Краснодар), “Гагра” (ақ.Гагра), “Риҵа” (ақ.Гәдоуҭа), “Нарҭ” (ақ.Аҟәа), “Кәыдры” (Гәылрыҧшь аҳабла), “Леон” (Очамчыра ақ).

 

Аицлабрақәа мҩаҧысуеит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Аҧсны аиҳабыреи рхылаҧшрала. Атурнир партниорс иамоуп - аилахәыра (А-Мобаил).

 

Цәыббра 10 рзы имҩаҧысуеит аиҩызаратә гала-еицлабра, Аҧсны аветеранцәа еизгоу ркомандеи “Ахра Цәеиба иҩызцәеи” рыбжьара.

 

Атурнир аӡбаҩ хада, ФИФА аӡбаҩ – Сергеи Хусеинов; аӡбаҩ ицхырааҩцәа – Алексеи Иваненкои Виталии Федоренкои.

 

Аҟәа, иара убас даауеит еицырдыруа ателехҳәааҟаҵаҩ, адырраҭара “Ашьапылампыл ахҳәаа” амҩаҧгаҩ Владмир Перетурин.

 

Аҧсуа шьапылампл аветеранцәа еизгоу ркоманда аилазаараҟны: Аслан Ҭарба, Аслан Барганџьиа, Андреи Чекунов, Ҭенгиз Ҭарба, Саид Ҭарба, Родер Ҭарба, Ҭамаз Еныкь, Роберт Бостанџьан, Џьума Кәарацхьелиа, Владимир Ободин, Адгәыр Кәарацахьелиа, Роман Ҳагба, Георгии Чалигава, Радион Аҩыӡба, Џьамал Гәбаз, Леоин Ӡаҧшьба, Рафаель Амҧар.

 

Акоманда “Ахра Цәеиба Иҩызцәа” ахәмарцәа реилазаараҟны – Аҧсны ашьапылампыл афедерациа Ахеилак алахәыла, Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭдума адепутат Оҭари Аршба, иара убас аспорт азҟазацәа Алеқсеи Прудников, Вагиз Хидиатуллин, Алеқсандр Бубнов, Дмитрии Ананко, Валентин Ковач, Тамерлан Куриев, Хорен Оганесиан, Ахра Цәеиба,Дмитрии Аленичев, Егор Титов, Иурии Гаврилов, Валерии Шмаров, Сергеи Кириаков, Игор Беланов, Сергеи Иуран, Алеқсандр Мирзоиан.

 

07.09.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада