|
|
Кәыдры аӡиас аҟны
иаҭахыуп ихаҭәаау аҟәарахьчаратә усурақәа рымҩаҧгара |
Аҟәа,
Иааҟәмҵӡакәа илеиуа ақәоурақәа ирыхҟьаны, Кәдры аӡиас аӡы аҩаӡара
шьтыҵит, уи иахҟьаны аӡхыҵра ашәара ҟалеит. Аҧсны Аҳәынҭқарратә
екологиатә маҵзура аиҳабы роман Дбар игәаанагарала, иаҭахыуп
аӡхыҵраҿагылратәии, аӡиас аҟны арыцқьаратәи усурақәеи рымҩаҧгара.
Иахьа Гәылрыҧшь араион
иаҭааит аекономика аминистр Крситина Озгани, Аҳәынҭқаратә екологиатә
маҵзура аиҳабы Роман Дбари, аҭыҧантәи ахадарақәа реиҳабацәеи, иара убас
анаплакы “Нерудкомплекс” ахаҭарнакцәеи. Аспециалистцәа игәарҭеит еиҳа
иахьшәарҭоу аҭыҧқәа, аҟәарахырҕәҕәарҭатә усурақәа рымҩаҧгара ахьаҭахыу.
Кәдры аӡиас ҭыҧқәак рыҟны
аӡиас иҧнажәеит ахырҕәҕәарҭақәа. “Насыҧны, уажәазы анхамёҩақәа ааха
рмоуӡеит. Аҭагылазаашьа хылаҧшра амоуп,” – иҳәеит Роман Дбар. Аекономика
аминистрра, аӡиас арыцқьара иаҿу анаплакы “Нерудкомплекс” финансла
аиқәыршәара азҵаара аӡбоит.
22.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
79
шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит ҧасатәи атәылахьчара аминистр
Владимир Тач-иҧа Мқанба |
Аҟәа,
79 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аҧсны иналукааша аҳәынҭқарратә
усзуҩы, ҧасатәи атәылахьчара аминистр Владимир Тач-иҧа Мқанба.
Владимир Мқанба иҧсыжра
аиҿкааразы иаҧҵоуп аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Беслан Кәбраа зхадараҿы дыҟоу
аиҳабыра ркомиссиа.
-
Мқанба В.Т. диит 1931
шықәса цәыббра 23 рзы Аҧснытәи АССР Афон Ҿыц аҳаблаҟны.
-
1960 ш.рзы далгеит
Москватәи автомҩатә институт.
-
1975-1985 шш.рзы Аҟәатәи
ақалақьтә хеилак ахантәаҩыс аус иуан. 1985 шықәса хәажәкырамза инаркны
1989 шықәса ҧхынгәымзанӡа – Аҧсны аҭыҧантәи ааглыхра аминистрс дыҟан.
-
1989-1992 шш. рзы –
Аҧснытәи ССР аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩыс,
ашьапылампылтә клуб Динамо “Сухум” Апрезидент.
-
1992 инаркны 1999
шықәсарзынӡа – Ареспублика Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩыс.
-
1996 инаркны 2002
шықәсанӡа – атәылахьчара аминистр, Ареспублика Аҧсны Арбџьармчқәа
Ркомандаҟаҵаҩ хада ихаҭыҧуаҩ.
-
2002 ш. –Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ, ашьапылампылтә клуб Динамо “Сухум”
Апрезидент.
-
2005 шықәса инаркны –
ашьапылампылтә клуб Динамо “Сухум” Апрезидент.
-
2005 шықәса инаркны –
агазеҭ “Спортивная Абхазия ” аҧҵаҩы.
-
2008 -2010 ш. Рзы
– Аҟәатәи аспорттә-гәабзиарачаҧарҭатә комплекс аиҳабы.
22.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Санкт-Перербургтәи
агәбернатор Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы инеира идылныҳәалеит |
Аҟәа,
Санкт-Перербургтәи агәбернатор Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь
имаҵурахьы инеира идылныҳәалеит.
“Атәыла Ахада иалхрақәа
рыҟны еиҭах Аҧсны жәлар ишәырҭаз агәрагара ду, - ари Шәара аҳәынҭқарра
анапхгараҭараҟны иаашәырҧшуа аҟәҕара дуи, шәполитикатә харахәыцреи рзы
шаҳаҭра руеит, - ҳәа аҳәоит В.Матвиенко иаалышьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы
аҟны. Аҧсны жәлар Шәара ишәыдырҳәалоит ргәыҕрақәа атәыла иҭышәынтәаланы
аҿиараҟны”.
Уи иазгәалҭеит
“акыршәышықәсала иааиуа Урыстәылеи Аҧсни реиҩызаратә еимадарақәа иахьа
ҳажәларқәа рҭынчреи рҭышәынтәалареи ахьӡала активла ишҿио”.
“Гәкала сеигәырҕьоит
Санкт-Петербурги Аҧсни реизыҟазаашьақәа ахьеихаҳау хырхарҭарацәалатәи
аусеицурала”.
Валентина Матвиенко Сергеи
Багаҧшь изеиҕьалшьеит агәабзиареи, дызхагылоу иҧшьоу аус ду аҟны
ақәҿиарақәеи.
22.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Иахьа Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит аилацәажәара |
Аҟәа,
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит Аҳәынҭқарра Ахада
ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаби, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәбеи,
Аҧыза-аминистр Сергеи Шамбеи, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла
Афедерациахь иофициалтә визит аан ицыз аделегациа алахәцәеи, аиҳабыра
егьырҭ алахәцәеи злахәыз аилацәажәара.
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
аилацәажәара алахәцәа адырра риҭеит Урыстәыла аҳҭны-қалақьа аҟны
имҩаҧигаз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рзы. Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит арҭ
аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәеи, иара убас аурыс-аҧсуа ҳәынҭқарратә
еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны урҭ рҵаки.
Аҳәынҭқарра Ахада
аделегациа алахәцәеи дымҩаҧызгоз зегьи, иара убас Москва иҟоу Аҧсны
ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аилацәажәараҟны иара убас
ирзааҭгылан ареспублика аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьагьы. Аҳәынҭқарра Ахада
Аҧыза-министр анапынҵа ииҭеит ҿҳәара кьаҿк иалагӡаны аструктуратә
ҧсахрақәеи иара убас аиҳабыра реилазаареи, Аминистрцәа Реилазаара
анапаҵаҟа иҟоу аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи рзы ажәалагалақәа рыхәаҧшразы
инеигарц.Убри аан С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра мчра
аусбарҭақәа рахь иазыҟаҵоу аспециалистцәа радыҧхьалара шаҭахыу.
Ирылацәажәан иара убас
ааҧын иҟаларц зылшо аӡхыҵрақәа раҧырҟәҟәааразы ажәалагалақәеи, иара убас
уи инадҳәаланы аҟәарахьчаратә усурақәа Гәылрыҧшь, Очамчыра, Тҟәарчали
рраионқәа рыҟныи, Пицундатәи аӡиа Инкити рыҟны рымҩаҧгаразы.
19.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Жәабран
16 инаркны 18 -нӡа имҩаҧысуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла
Афедерациахь раҧхьатәи иофициалтә визит |
Аҟәа, Жәабран 16 инаркны 18нӡа
имҩаҧысуеит Урыстәыла Афедерациахь Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада раҧхьатәи
иофициалтә визит. Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит аиҳабыра
ринформациатә Усбарҭа анапхгаҩы Кристиан Бжьаниа. Иара иажәақәа рыла,
ари авизит иалагӡаны иазҧхьагәаҭоуп Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара
аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рнапраҵаҩра.
Аделдегациа аилазаараҟны
иҟоуп аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Кристина Озган,
атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа, аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура
Аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Владимир Аршба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы
Аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа, аграждантә авиациа
Аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Анатолии Пантелеев уҳәа убас
егьырҭгьы.
Авизит иалагӡаны
иазгәаҭоуп Урыстәыла Апрезидент Дмитрии Медведеви, аиҳабыра рхантәаҩы
Владимир Путини, Москвеи Урыстәыла Зегьи Рпатриарх Кирилии рҧыларақәа.
Урыстәыла аҳҭны-қалақь
аҟны иҟазаара иалагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь МГИМО аҟны
даҧхьоит алекциа “Аҧсны Урыстәылатәи аимпериа иалоуижьҭеи 200 шықәса
ахыҵреи аурыс интеллигенциеи адоуҳамаҵзуреи 19-20тәи ашәышықәсақәа рзы
Аҧсны аҿиараҿы рнырреи” атемала.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа
рминистрра Аҧсныпресс ахь адырра злаҟарҵаз ала, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадеи
Урыстәыла Апрезиденти рнапаҵарыҩуеит Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны еидҵоу
урыстәылатәи арратә база аҧҵаразы Аиқәшаҳаҭра.
“Ари хынтәуп, Аҧсни
Урыстәылеи Рҳәынҭқаррақәа рхадацәа Кремль Аиқәшаҳаҭрақәа рнапы
аҵарыҩуеижьҭеи”.
Москва иара убас анапы
рыҵаҩхоит Амшын Еиқәа аҟны амшынтәи авиациатәи ҧшаарақәа рзы
аиқәшаҳаҭра; изакәаным амиграциа иаҿагыланы ақәҧаразы аусеицура;аҳаиртә
мҩазы;арра-техникатә усеицуразы; атранспорт аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа
рпринципқәа рзы аусеицура; иара убас анапаҵаҩхоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа
раҧырҟәҟәаареи урҭ рзы агәҽанҵареи русхкқәа рзы аиқәшаҳаҭреи;
иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчареи, абанкттә усуреи русхкқәа рыҟны.
13.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Сергеи Шамба
Аҧыза-министрс иҟаҵаразы Аусҧҟа |
Аҟәа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
С.Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Сергеи Шамба Аҧыза-министрс иҟаҵаразы.
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
С.Багаҧшь, Аиҳабыра рхадас С.Шамба иҟаҵаразы гәҭакыс ишимаз еилкаахеит
иахьа ашьыжь Аминистрцәа Реилазаара аҵыхәтәантәи аилатәараҟны. Уаҟа иара
убас аиҳабыра алахәцәа рнапынҵақәа рышьҭаҵаразы аколлективтә арзаҳал
аларҵеит.
С.Шамба ихы наиқәкны
аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҭакҧықәра дуӡӡа шидло.
Аҧыза-министр имаҵура ҿыц
идныҳәало Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит “Аминистрцәа Реилазаара
аусура ишахьыҧшхо ареспублика зегьы аусура”.
“70-тәи ашықәсқәа раахыс
С.Шамба ареспубликаҿы имҩаҧысуаз аполитикатә хҭысқәа зегьы рыгәҭаны
дгылан, аҧышәа змоу политикуп”, - иазгәеиҭеит Багаҧшь.
“Уажәшьҭарнахыс атәыла
асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа инапы иануп”,- инаҵшьны иазгәеиҭеит
С.Багаҧшь.
С.Шамба, 13 шықәса раахыс
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хадара азызуаз, агәрагара ду ирҭаз
азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
“Сара аус зухьеит
Аминистрцәа Реилазаара аилазаарақәа акыр рыҟны, уажәтәи еиҳа алыҵшәа
аман. Сара сзын ихадароуп, знапынҵақәа рыҩаӡара ҳаракны иназыгӡо ауаа
аус рыцура”, - иҳәеит Шамба.
С.Багаҧшь, иара убас ҭабуп
ҳәа иеиҳәеит ҧасатәи аҧыза-министр А.Анқәаб.
А.Анқәаб аиҳабыра
алахәцәеи, Аминистрцәа Реилазаара Аппарати ҭабуп ҳәа реиҳәеит
ауадаҩрақәа зцыз 5 – шықәсатәи русеицуразы. “Иҟаҵоу рацәоуп, аҧхьаҟа
иҵегьы иҟаҵатәу маҷым. Иҟоуп аҧышәа, уи аҧхьаҟагьы аихаҳара аҭахыуп”, -
иҳәеит А.Анқәаб.
Аҳәынҭқарра Ахада адырра
злаҟаиҵаз ала, Аминистрцәа Реилазаара аструктура аҟны аҧсахрақәа ҟалоит.
Азакәанҧҵара инақәыршәаны,
Аминистрцәа Реилазаара ҿыц аҧҵахароуп ҩ-мчыбжьа ирылагӡаны.
13.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҟәа
имҩаҧысит ҿыц еиҭа иалхыу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имаҵурахьы
инеира агәырҕьаратә церемониа |
Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас
ҿыц еиҭа иалхыу С.Багаҧшь имаҵура иахагылара агәырҕьаратә церемониа
мҩаҧысит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Уи иалахәын
азакәанҧҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчрақәеи, Апрокурор хадеи,
хыҧхьаӡара рацәала асасцәеи.
Иазгәаҭатәуп, Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы инеира ацеремониа алахәхаразы Аҧсны
аҳҭны-қалақь ахь иааит Урыстәыла Афедерациа 14 субиектк рхадацәеи,
Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика аҳәынҭқарра Ахада Игор Смирнови,
Аахыҵ-Уаҧстәыла аҳәынҭқарра Ахада Едуард Кокоитыи, Москва ақалақь ахада
Иури Лужков, Ареспубликақәа Адыгеиеи, Ҟарачы-Черкесски,
Ҟабарда-Балкариеи Рхадацәа.
Иара убас ари агәырҕьаратә
церемониа иалахәын Урыстәыла иҟоу Венесуелеи Ареспублика Беларуси
рыцҳаражәҳәаҩцәеи,аҳәаанырцә иҟоу аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәеи.
Ацеремониа
аламҭалаз Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Афедерациа Ахеилак
ахантәаҩы Сергеи Миронови ашәҭқәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аҧша Амемориал аҿаҧхьа.
Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа шымҩаҧысуаз 2009 шықәса, ҧхынҷқәынмза 12
рзы. Аҳәынҭқарра Ахадас ҩынтәны деиҭалхын Сергеи Багаҧшь. Уи 61,16%
абжьқәа иоуит.
Агәырьаратә церемониаҟны
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадас иалхыу С.Багаҧшь, Ареспублика Аҧсны
Аконституциа инапы нақәҵаны, аҧсышәала Аҧсны жәлар рҿаҧхьа ҭоуба иуит
“идырреи имчи зегьы шазикуа аҭынчреи аҭышәынтәалареи”. Ҿыц еиҭа иалхыу
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҭоуба идикылеит “иусураҿы Ареспублика Аҧсны
Аконституциа адҵаҟаҵарақәа ҧымкрыда дышрықәныҟәало ала, иара убас
гарантс дшыҟало амчра аусбарҭақәа хьаҳәа-ҧаҳәада рынагӡарази,
ареспублика атәылауаа зегьы рзинқәеи рхақәиҭреи рыцклаҧшрази”.
Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн
анынагӡаха ашьҭахь, Сергеи Багаҧшь ианаршьеит Аҳәынҭқарра Ахадара амчра
атрибутқәа – аштандарти Ареспублика Аҧсны агерб асахьа зныу амҳәыри.
Агәырҕьаратә церемониаҟны
иқәгылаз Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Сергеи Миронов даҧхьеит Урыстәыла
Апрезидент Дмитрии Медведев идныҳәаларатә аашьҭымҭа.
Урыстәыла Апрезидент
Дмитрии Медведев Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имаҵура иахагылара
идиныҳәалеит.
“Иахьа Аҧсны ихьыҧшым
адемократиатә ҳәынҭқарра аҿиара амҩа иануп. Иалыршоуп
асоциал-економикатә еиҭакрақәа жәпакы. Рыҽдырҭбаауеит жәларбжьаратәи
аимадарақәа. Аҧсны жәлар ҿыц еиҭа Аҳәынҭқарра Ахадас шәалызхыз, шәара
шәхы-шәыҧсы шәгәамч зегьы зыхҭнышәҵо аҭакҧхықәра ду зцыу аусра ацҵаразы
шәыгәра шырго азы шаҳаҭра ауеит”, - азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.
Медведев иажәақәа рыла
“Урыстәылеи Аҧсни акыршәышықәса раахыс аиҩызареи агәлеимабзиареи
еиднакылоит. Арҭ атрадициақәа ирыцҵоуп иахьа Урыстәыла-Аҧсынтәылеи
рпартниортә еизыҟазаашьақәа рышьаҭала.”.
“Аринахысгьы иацҵалахоит
Аҧсны аекономикатә потенциал аиҭашьақәыргылараҿи, аинфраструктура
аҩаӡара ашьҭыхреи рҿи, акадрқәа разыҟаҵареи уҳәа егьырҭ аусхкқәа зегьы
рыҟны ацхыраара аҟаҵара”, - инаҵшьны иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы
аҟны.
Медведев иажәақәа рыла,
ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҟны иналукааша хҭысны иҟалоит,аофициалтә
визитла Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла иаҭаара. Урыстәыла Апрезидент
агәыҕра имоуп аурыс-аҧсуа усеицура ахырхарҭа хадақәа зегьы
рыҟны реихаҳара ишацхраауа ала.”
Сергеи Миронов Аҧсны
аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идиныҳәалеит имаҵурахьы инеира. Аҧсны
атәылауаа иҟарҵаз алхрала иазхарҵеит Сергеи Уасил-иҧа иџьабаа ду
алыҵшәа”,- инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахеилак ахантәаҩы.
Сергеи Багаҧшь имаҵура
иахагылара иара убас идырныҳәалеит Аахыҵ Уаҧстәыла аҳәынҭқарра Ахада
Едуард Кокоиты, Приднестровиа-Молдавиатәи Ареспублика аҳәынҭқарра Ахада
Игор Смирнов, Ашьха –Ҟарабах аҳәынҭқарра Ахада Бако Саакиан, Урыстәыла
иҟоу Венасуела ацҳаражәҳәаҩ Уго Хосе Гарсиа Фернандес.
12.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада имаҵура иахагылара мҩаҧысуеит жәабран 12 рзы |
Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада
официалла имаҵурахьы инеира мҩаҧысуеит жәабран 12 рзы Аҟәа. С.Багаҧшь
имаҵура иахагылара инадҳәаланы ,Аҧсныҟа иаауеит хыҧхьаӡара рацәала
асасцәа.
Ари аҽны 10.00 сааҭ рзы
Аҧсны анапхгареи асасцәеи ашәҭқәа шьҭарҵоит Ахьӡ-аҧша Амемориал аҿаҧхьа,
уи анаҩсан аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысуеит официалтә дкылара.
Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура иахагылара ацеремониа мҩаҧысуеит 13.00 сааҭ
рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны.
11.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада официалтә визитла Москва даҭаауеит |
Аҟәа, Аҧсны аҳәынҭқарра
Ахада официалтә визитла Москва даҭаауеит.
Жәабран 16 инаркны 18-нӡа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь официалтә визитла Москваҟа дцоит.
11.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Ҭырқәтәыла
иҟоу Кавказ аилазаара Афедерациа Апрезидент Аҧсныпресс аколлектив
ирыдиныҳәалеит 15 шықәса рхыҵра аиубилеи |
Аҟәа, Ҭырқәтәыла иҟоу
Кавказ аилазаара Афедерациа Апрезидент Џьихан Џьандемир аинформациатә
агентра Аҧсныпресс аколлектив ирыдиныҳәалеит 15 шықәса рхыҵра аиубилеи.
“Аҵыхәтәантәи 15
шықәса раахыс Аҧсни уи иқәнхо ажәлари рзы иобиективтәу аинформациа
аларҵәараҟны ихадароу аҭыҧ ааннакылоит Аҧсныпресс. Шәара шәусурала
ишәылшәыршеит Аҧсны адемократиеи ахьыҧшымреи рыҿиараҟны шәыхәҭа ҕәҕәа
алагалара. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара шәџьабаа”, - иазгәаҭоуп
адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Ҭырқәтәыла иҟоу
Кавказ аилазаара Афедерациа ахьӡала Џьихан Џьандемир Аҧсныпресс
аколлектив ирзеиҕьеишьеит аҧхьаҟагьы ақәҿиарақәа.
08.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны Адәныҟатәи
Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ М.Ҕәнџьиа визитла Италиа дыҟоуп |
Италиатәи апарламент
асенаторцәа ргәыҧ ааҧхьарала, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр
ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ҕәнџьиа визитла Италиа дыҟоуп.
Ҕәнџьиа Аҧсныпресс ахь
адырра злаҟаиҵаз ала, “аиҧыларақа мҩаҧысуан еилибакаарала”. “Италиа
Кавказ имҩаҧысуа ахҭысқәа зҿлымҳарыла ирыцклаҧшуеит.Аиталианеццәа
агәҭынчымра рызнарҵысит 2008 шықәса нанҳәамзазы Қырҭтәыла ахымҩаҧгашьа,
- иҳәеит уи.
“Аҧсны, Косово еиҧшҵәҟьа
ахьыҧшымразы азин амоуп. Жәларбжьаратәи ауаажәларра ахьыҧшымразы аҧсуа
жәлар рзин тәамбашақә иахәамҧшыроуп”, - иазгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа
рминистр ихаҭыҧуаҩ асенаторцәа рҧылараан.
Ҕәнџьиа инаҵшьны
иазгәеиҭеит, Кавказ аҟны арегионалтә усеицура аҵак ҷыдеи, иара убас
адәныҟатәи адунеи аҟны еицыфеидоу аимадарақәа рыҿиареи. Иара иажәақәа
рыла, “Аҧсныи Италиеи еиднакылоит азеиҧш ҭоурыхи акәльтуратәи
еимадарақәеи. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит арегион аҟны аҭынчреи
аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы Италиатәи амчрақәа рҽазышәарақәа”, -
иҳәеит Ҕәнџьиа.
Ҕәнџьиа игәаанагарала “
Жәларбжьаратәи ауаажәларраҟны иахәҭоу ахәшьара аиуроуп адемократиатә
формақәа рышьақәыргылараҟны Аҧсны аҽазышәарақәа”.
“Ааигәа имҩаҧысыз
Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иаҳдырбоит, ари атәылаҟны
адемократиа иахәҭоу аҩаӡара шамоу. Аҧсны аринахысгьы иацнаҵалоит
Европатәи Аидгыла атәылақәа рыҟны аекономикатәи акәльтуратәи усеицура
азҵаарақәа рыӡбара”, - иҳәеит асенаторцәа рҧылараан М.Ҕәнџьиа.
08.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
23-ҩыуаак
Ареспублика Аҧсны атәылауаа аҵара рҵоит Урыстәыла Афедерациа Иреиҳаӡоу
арратә ҵараиурҭақәа рыҟны |
23-ҩыуаак Ареспублика
Аҧсны атәылауаа аҵара рҵоит Урыстәыла Афедерациа Иреиҳаӡоу арратә
ҵараиурҭақәа рыҟны. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны иҟоу Урыстәыла
Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы
Иурии Звирик Аҟәа имҩаҧысуаз апресс-конференциаҟны.
“Урыстәыла Афедерациеи
Ареспублика Аҧсни рыбжьара Аҧсны аҳәынҭҳәаа еицеилахәны ахьчараз
Аиқәшаҳаҭра” мшаҧымза 30 рзы анапы зҵаҩыз иазҧхьагәанаҭоит
апофессионалтә кадрқәа разыҟаҵараҿы Аҧсны ацхыраара азыҟаҵара”, – иҳәеит
уи, убри аан уи ишьақәирҕәҕәеит, аҿар аҵарадырҵара шымҩаҧысуа
Кургансктәи аҳәаахьчаратә институт абазала.
05.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Москва
Аиҳабыреи Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә
усбарҭеи рнапы аҵарҩит 2010-2012 шш.рзтәи “Аусеицураз апрограмма” |
Москва Аиҳабыреи Аҧсны
иҟоу Урыстәылатәи Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи рнапы
аҵарҩит 2010-2012 шш.рзтәи “Аусеицураз апрограмма”. Ашәҟәы рнапы аҵарҩит
Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Иурии Звирики Москва ақалақь аекономикатәи
адәныҟатәии еимадарақәа рдепартамент СНГ-и Балтиеи атәылақәа русбарҭа
ахаҭарнак Валерии Сапожникови.
Анапаҵаҩра ацеремониа
далахәын Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев. Уи агәыҕра
ааирҧшит “иахьатәи ахҭыс анырра бзиақәа ҟанаҵап ҳәа аҩ-тәылак рыбжьара
еизааигәоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылараҿы”.
Ацҳаражәҳәаҩ
иргәалаиршәеит, мышқәак раҧхьа, Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзураҟны
дықәгылауа Урыстәыла Афедерациа Апрезидент Дмитрии Медведев
ишазгәеиҭеаз, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәынҭҳәаақәа
рыхьчара ауснагӡатәхадақәа ишреиуоу. “Аҧсны ари ауснагӡатә ишахәҭоу
еиҧш инарыгӡоит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә
усбарҭа”- иҳәеит адипломат. Убри аан уи Аҧсны анапхгара ҭабуп ҳәа
реиҳәеит “Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ареспубликаҿы рнапынҵақәа
рынагӡараҿы ганрацәалатәи ацхыраара ирырҭо азы”.
“Еилкаауп, Москва аиҳабыра
Аҧсназы ирылдыршахьоу шмаҷым. Уи даҽазныкгьы ишьақәнарҕәҕәоит
жьҭаарамзазы Аҟәаҟа визитла Москва аҳҭны-қалақь ахада Иурии Лужков
Аҧсныҟа иаара”, - иазгәеиҭеит Григориев.
Иара иажәақәа рыла,
Аусеицура Апрограмма анапаҵаҩра “иаанартуеит аҭагылазаашьа ҿыцқәа арҭ
аструктура дуқәа Аҧсны русуразы. “Москва аиҳабыра рхахьы иргоит
аҳәааьчаратә усбарҭа ацхыраара азыҟаҵаразы ахыдҵақәа, аусбарҭа
аусзуҩцәа рсоциалтә хьчареи, урҭ рмаҵзура аҭагылазаашьақәа реиҕьтәреи
рзы”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.
“Иааизакны ҳара
иазаҳаҧхьаӡоит, анапы зҵаҩу Апрограмма аусбарҭаҟазшьа мацара адагьы, ари
адокәмент ҳзеиҧш хыдҵақәа рыӡбареи Урыстәлеи Аҧсни рыбжьара аиашьаратә
усеицура арҕәҕәареи рзы ицхыраагӡа духап ҳәа”-инаҵшьны иазгәеиҭеит
ацҳаражәҳәаҩ.
05.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Кнут
Воллебеки Беслан Аршбеи рылацәажәеит Гал араион ауааҧсыра аҧсуа
еилазаара раларҵәара азҵаарақәа |
Гал араион ауааҧсыра аҧсуа
еилазаара раларҵәара азҵаарақәа ирылацәажәеит амилаҭ маҷқәа русқәа рзы
ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебеки Гал араион Ахадара аиҳабы Беслан
Аршбеи.
Усуҩтә визитла Аҧсны иааны
иҟоу Кнут Воллебек ареспублика анапхгара рҧылара ашьҭахь даҭааит
Қырҭтәыла аҳәаа иаҧну Гал араион.
Беслан Аршба адырра
злаҟаиҵаз ала, Воллебек дрызҿлымҳан Гал ашколхәыҷқәа аҵара дырҵареи,
агәабзиарахьчареи, ақырҭуа-аҧсуа ҳәаа ахысра аҭагылазаашьеи рызҵаарақәа.
“Сара апатын Воллебек
исырдырит аҭынч уааҧсыра рзы аҳәаа ахысразы ҧынгыла шыҟам, амала уи азы
иаҧҵоу аҧҟаррақәа рықәныҟәара шаҭахыу. Сара амилаҭмаҷқәа русқәа рзы
Иреиҳаӡоу Акомиссар Воллебек иара убасгьы игәаласыршәеит Егры аӡиас
иаҧну аҳәынҭҳәаа ахысра алеишәа арҕәҕәара зегь раҧхьаӡа иргыланы,
акыршықәса раахыс Гал араион аҟны аҭыҧ змоу атеррористтә актқәа
ишрыхҟьо,” – иҳәеит Аршба.
Аҵараҵара азҵаара
дазааҭгыло, Аршба Кнут Воллебек иеилиркааит, Галтәи ашколхәыҷқәа хатәы
бызшәала қырҭшәала аҵара дырҵараҿы уадаҩра шыҟам, урҭ аҵара шырҵо рхатәы
бызшәала, иара убас Гал араион аурыс школқәа рҟны акырҭуа бызшәеи
алитературеи шырҵо, “Аҧсны дарбанмилаҭзаалак азин имоуп хатәыбызшәала
аҵараҵара”, - иҳәеит Аршба.
Кнут Воллебек иазгәеиҭеит,
Галтәи ахәыҷқәа иара убас қырҭбызшәала ирҵалар шакәу Аҧсны аҭоурыхи
агеографиеи. (Иахьазы, Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны арҭ амаҭәарқәа
урысбызшәалоуп ишахысуа).
Кнут Воллебек, Аршба
иажәақәа рыла, иара убасгьы дрызҿлымҳан Галтәи араионтә хәышәтәырҭеи
ацхыраара ласи .Аршба Воллебек агәра ииргеит араион ауааҧсыра
амедицинатә цхыраара аҭыҧан ишроуа, урҭ рыхәшәтәра ацҵаразы
Қырҭтәыла ахәышәтәырҭақәа рахь ацара анаҭаххозы, ари азҵаара аӡбараҿы
уадаҩра ҳәа акагьы шыҟам,уи оперативла ишыӡбахо. “Ҳара апатын Воллебек
дзызҿлымҳаз азҵаарақәа зегьы рҭакқәа ҟаҳҵеит”, - иҳәеит Гал араион
Ахадара аиҳабы.
Аиҧылара анҵәамҭазы Кнут
Воллебек ажурналистцәа излареиҳәаз ала, имандат инақәыршәаны, Аҧсны иҟоу
амилаҭмаҷқәа рҭагылазаашьа шҭиҵаауа. “Сара аҵареи, агәабзиарахьчареи
русхкқа рҭагылазаашьеи, иара убас егьырҭ жәпакы азҵаарақәа рзы
аинформациа сыҭан”,- иҳәеит уи.
Амш аҩбатәи азыбжазы
Воллебек Гал араион аладатәи азона даҭааит, уаҟа уи дырҧылеит актәи
Отобаиеи Набакьиеи руааҧсыра.
Иара убас амилаҭмаҷқәа
русқәа рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар дырҧылеит араион иҳәынҭқарратә
аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
04.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада |
Кнут
Воллебек: Сара снапынҵа амилаҭбжьаратә еимак-еиҿакқәа рызҵаарақәа
рыӡбароуп |
“Иахьа ҳара атәыла
анапхгараҟны имҩаҧаҳгеит акыр хырҳара злоу лыҵшәалатәи аиҧыларақәа.
Исҳәарц сылшоит ҳара ҳаилибакааит ҳәа, имҩаҧаҳго ҳсурагьы лыҵшәа аиуеит
ҳәа. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит амилаҭмаҷкәа русқәа рзы ОБСЕ
Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебек Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иҧылара
ашьҭахь.
Адипломат ажурналистцәа
рызҵаарақәа иааркьаҿны рҭакқәа ҟаиҵеит. Уи адырра риҭеит, уаҵәы жәабран
4 рзы Гал араион аҟны ақырҭуа милаҭ рхаҭарнакцәа дшырҧыло, жәабран 5
рзы Гагра дырҧылоит аерман еилазаара рхаҭарнакцәа.
Уи агәыҕра ааирҧшит, Аҧсны
еиуеиҧшым аетникатә гәыҧқәа реилибакаара арҕәҕәараҟны иҧышәа алыҵшәа
шаанашьҭуа ала.
Аҧсны ахьыҧшымра азхазымҵо
ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар иарбан тәылоу дызҭааз ҳәа иҭаз азҵаара аҭак
ҟаҵо уи иҳәеит “Сара анеитралтә статус сымоуп. Сара аус зуеит Аҧснеиҧш
Қырҭтәылагьы, иара убас ОБСЕ амандат аус ахьауа егьырҭ атәылақәа
рҟынгьы. Сара снапынҵа амилаҭбжьаратә еимак-еиҿакқәа рызҵаарақәа
рыӡбароуп”.
03.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь дидикылеит амилаҭ маҷқәа русқәа рзы ОБСЕ
Иреиҳаӡоу Акомиссар Кнут Воллебек |
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада
С.Багаҧшь дидикылеит амилаҭ маҷқәа русқәа рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар
Кнут Воллебек.
“Бзиала шәаабеит ҳәа
шәасҳәоит Аҧсны дгьыл аҟны. Аҵыхәтәантәи ҳаиҧылара аахыс акыр
азҵаарақәеи апрблемақәеи рыӡбара алыршахеит”, - иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада. Уи иара убас иазгәеиҭеит, Аҧсны ибзианы ишеилыркаауа. амилаҭ
маҷқәа рзыҟазаашьа – ари атәыла демократиатә ҳәынҭқаррак аҳасабала
аҿиаразы ишҟаҵарба хадоу.
Амилаҭ маҷқәа рызҵаарақәа
рзы ОБСЕ Иреиҳаӡоу Акомиссар дрызҿлымҳан, Женеватәи апроцесс
шымҩаҧысызи, иара убас арегион аҟны аҭагылазаашьа аҿиашьеи.
Аҳәынҭқарра Ахада
иазгәеиҭеит, Аҧсны агәыҕрақәа шаднаҳәалоз Женеватәи апроцесс
“Аиҿцәажәарақәа рыцҵаразы иаҭахыуп наҟ-ааҟ аилибакаара. Ҳара ажәалагала
ҟаҳҵоит амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, аха ари азҵаара
ӡбамкәа иаанхоит. Уи адагьы, ҳара иҳадыргалоит даҽа докәмент ҿыцк. Ҳара
уи алацәажәара ҳгәы иҭаӡам”, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
03.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аинформациатә агентра “Аҧсныпресс” 15 шықәса
ахыҵра адиныҳәалеит |
“Атәыла анапхгара рыхьӡала
ишәыдысныҳәалоит ҳтәыла раҧхьатәи аинформациатә агентра аҧҵоижьҭеи 15
шықәса ахыҵра. Арҭ ашықәсқәа зегьы аџьабаа ду зцыз аусура ду мҩаҧыжәгон.
Шәара шәинформациатә ҭыжьымҭақәа ирныҧшуеит ҳаамҭазтәи Аҧсны аҳәынҭқарра
аҭоурых, урҭ рыла уаҩы ибоит ҳажәлар ахьыҧшымраз изнысыз амҩа хьанҭа.
Арҭ аамҭақәа рзы, имариамыз аҭагылазаашьақәа рҿы, “Аҧсныпресс”
акорреспондентцәа инарыгӡон рзанааҭтә уалҧшьа”, - ҳәа аҳәоит
адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Аҳәынҭқарра Ахада агентра
аколлектив зегьы ирӡеиҕьеишьеит арҿиаратә қәҿиара ҿыцқәеи, агәабзиареи,
аманшәалареи.
“Атәыла анапхгара
аҧхьаҟагьы ганрацәала ацхыраара ҟанаҵалоит Аҳәынҭқарратә аинформациатә
агентра “Аҧсныпресс” аусуразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаҧҵараҿы”, -
ҳәа аҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
02.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
адәныҟатәи аусқәа рминистр дидикылеит Кавказ ахҵәацәа рзы Норвегиатәи
Ахеилак арегионалтә диреқтор ҿыц |
Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа
рминистр С.Шамба дырҧылеит жәларбжьаратәи агәҳалалратә еиҿкаара
ахаҭарнакцәа – Кавказ ахҵәацәа рзы арегионалтә диреқтор ҿыцс иҟаҵоу
Пиотр Косторгызи, ахҵәацәа рзы Норвегиатәи Ахеилак арегионалтә менеџьер
аҳкәажә Анна Поврженичи. Аиҧылара мҩаҧысуан Пиотр Косторгыз абадырратә
визитла Аҧсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиҧылараҟны аҳкәажә
Поврженич аминистр илырдырит 2010 шықәса рзы планла ирзарбоу аиҿкаара
апроектқәа. Убас, ООН Иреиҳаӡоу Акомиссар Иусбарҭа афинанстә цхыраарала
Ахҵәацәа рзы норвегиатәи Ахеилак иацнаҵоит Тҟәарчали, Очамчыреи, Гали
рраионқәа рыҟны инхо абенефициантцәа рзы аҩнқәа рыргылара. Ари апроект
иазҧхьагәанаҭоит аҩн ҿыцқәа рыргылареи, иара убас иажәхьоу аҩнқәа рыҟны
арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгареи. 2010 шықәса рзы иазҧхьагәаҭоуп 85 ҩны
рыҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ахҵәацәа рзы Норвегиатәи
Ахеилак аплан аҟны иара убас иазгәаҭоуп апроект “имаҷу арҧхаратә
нхамҩақәа” аларҵәара, Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭа аҟны инхо абенефициантцәа
ацхыраара рыҭаразы. Иара убас иахәҭоу аргыларатә маҭәахәқәа риуразы,
Норвегиатәи Ахеилак афинанстә цхыраарала Гал ақалақь аҟны аус зуа
амҿыаусадуларҭа ари апроект алархәра.
Аҭыҧантәи аҿар усуҩтә
ҭыҧла реиқәыршәаразы Ахҵәацәа рзы Норвегиатәи Ахеилак иагәҭакыуп
амҿыаусадуларҭатә ҟазарҭаҟны азанааҭтә школ аартра, ареспубликаҿы еиҳа
ахархәара змоу азанааҭ аҿар дырҵаразы. Апроект иалархәхоит иара убас
Аҧснытәи Аҳәынҭқапрратә унивирситет аспециалистцәеи арҵаҩцәеи.
Иара убас ари аиҿкаара
иагәҭакыуп азеиҧш ҵараиурҭатә школқәа хҧа рыҟны арҽеиратә усурақәа
рымҩаҧгара, Аҧсны аҵара аминистрра ақәыршаҳаҭрала. 2009 шықәса рзы
Норвегиатәи Ахеилак Барҕьаҧ, Баслахә, Гәыҧи абжьаратә школқәа рыҟны
арҽеиратә усурақәа мҩаҧнагеит.
Норвегиатәи Ахеилак
иацнаҵоит Гал ақалақь аҟны азинтә зҵаарақәа рзы аҭыҧантәи ауааҧсыра рзы
абжьагарақәа рымҩаҧгара. Абжьагарақәа рзы еиҳарак идҵаало аҭыҧантәи
ауааҧсыра зызҿлымҳау амилаҭтә докәмент аиура азҵааразоуп.
Ахҵәацәа рзы Норвегиатәи
Ахеилак аиҧылара аиҿкаараз ҭабуп ҳәа ахҳәаауа, ҷыдала инаҵшьны
иазгәарҭеит, Аҧсны анапхгара есымша ишазхиоу агәҳалалратә еиҿкаарақәа
рхаҭарнакцәа рыҿцәажәара.
02.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Денис
Царгәыш зых иақәиҭу ақәҧараз жәларбжьаратәи атурнир асериа ахьтәы
гран-при “Иван Иарыгин” аҟны ахьтәы медал иҽаҧсеитәит |
Ҳџьынџьуаҩ Денис Царгәыш
зых иақәиҭу ақәҧараз 74 кг. акапантә категориаҿ асериа ахьтәы гран-при
“Иван Иарыгин” жәларбжьаратәи атурнир аҟны актәи аҭыҧ ааникылеит. Абри
азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит аспорти аҿари русқәа рзы Аҳәынҭеилакы
ахантәаҩы Рафаель Амҧар. Иара иажәақәа рыла, ари атурнир аҟны
аиааира, уи ҳазныу ашықәс хәажәкырамзазы имҩаҧысуа Европа Ачемпионат
алахәхароуп.
Урыстәылатәи
Аинтернет-ҭыжьымҭақәа излаарыцҳауа ала,сынтәатәи 21-тәи зых иақәиҭуи
аҳәса рықәҧареи рзы жәларбжьаратәи атурнир асериа ахьтәы гран-при “Иван
Иарыгини” Иван Иарыгин Икубоки иаднаҧхьалеит адунеи ахьынӡанаӡааӡо
аҟнытә 350-ҩыуаак ақәҧацәа спортсменцәа. Аицлабрақәа мҩаҧысуан Иван
Иарыгин ихьӡ зхыу Ахан аҟны, жьырныҳа 29 инаркны 31-нӡа.
Иазгәаҭатәуп Денис Царгәыш
уаҟа дшықәгылоз Урыстәыла еизгоу акоманда аилазаараҟны, уи 21-тәи
атурнир “Иван Иарыгин” аҟны аҧхьагылара аиуит.
Хымш ирылагӡаны Урыстәыла
еизгоу ақәҧацәа 4 хьтәы медалки, араӡынтәқәа 5, 11 бронза медали
рыҽрыҧсартәит.
Аҩбатәи аҭыҧ ааныркылеит
Нхыҵ Кореиа ақәҧацәеи, Украинеи Белоруссиеи хьтәы медалк ала. Иапониатәи
аспортсменцәа атурнир аҟны араӡын медалки хҧа абронзақәеи рыҽрыҧсартәит.
02.02.2010
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
|