AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 
 Гәылрыҧшь араион ирылагеит аҵәаҵлақәа реиҭаҳаразы адгьылқәа рырмазеира

 

Гәылрыҧшь араион ирылагеит аҵәаҵлақәа реиҭаҳаразы адгьылқәа рырмазеира. Иара убас адгьыл дырмазеиуеит асубтропиакатә культурақәа акиви, афеихоа, ахәырма аплантациақәа рзы. Агротехникатә усмҩаҧгатәқәа ирзалхуп 37 геқтар. Убри атәы ааицҳаит Гәылрыҧшь араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Рафик Григориан.

 

29.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Атәылахьчара аминистрра 7-тәи артиллериатә полк аицлабрақәа мҩаҧнагеит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра арбџьармчқәа арратә ҽазыҟаҵара 2012 ш. аплан инақәыршәаны, февраль 27 рзы атәылахьчара аминистрра 7-тәи артиллериатә полк аицлабрақәа мҩаҧнагеит. Арратә маҵура иахысуа еицлабуан 60 метра аҩреи артҟәацгақәа рыҧжәараҿи. Аицлабраҿы аиааира згаз иранашьан атәалахьчара аминистрра аграмотақәеи аҳаҭыртә ҳамҭақәеи.

 

28.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Арҭ амшқәа рзы Аҧсны имҩаҧысуеит заанаҵтәи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа

 

Арҭ амшқәа рзы Аҧсны имҩаҧысуеит заанаҵтәи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа. Уи рхы аладырхәыр рылшоит Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу зегьы. Заанаҵтәи абжьыҭиира мҩаҧысуеит март 4 рзы алхрақәа рахь изымннеиуа аауааҧсыра рзы. Алхрақәа мҩаҧысхьеит Гагреи Аҟәеи араионқәа ирыҵанакуа ақыҭақәа жәпакы рҟны. Февраль 29 рзы абжьыҭиира мҩаҧгахоит Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟны.

 

Алхрақәа мҩаҧысуеит ақыҭа акультуратә ханқәеи ашколқәеи рхыбраҿы.

 

28.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Жәабран 27 – Аҧсны амасса информациатә хархәагақәа рымш ауп

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит амасса информациатә хархәагақәа рымш. Ари арыцхә алхра машәырны иҟамлаӡеит. 1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ “Аҧсны” раҧхьаӡатәи аномер.

 

27.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза жәлар рконгресс анагӡком Аҳәамҭа

 

Ҳахьыҟазаалакгьы ҳара аҧсуаа аҧышәара хьанҭа ҳахыслартә ҳалахь иануп. Абар уи еиҭа иааҳадгыдлеит, аха ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи раҕацәа егьа ибзиан рҽазыҟарҵазаргь ирылымшеит рыгәҭакы хәмга анагӡара.

 

Урҭ ирдыруан ҳҳәынҭқарра, ҳажәлар ахьмыӡҕии, азеиҧш уаажәларратә ҭагылазаашьеи, ҳхақәиҭреи, ҳхьыҧшымреи конституциала зыхьӡ иадҳәалоу Ахада иаҧыхра атәыла еибганы излымҵуа аилаҩеилас шахылҿиаауаз.

 

Александр Анқәаб деиқәхеит зуалҧшьа анагӡараз зхы иамеигӡаз аҷкәынцәа рфырхаҵара иабзоураны. Урҭ рахьтә аӡә дшьуп, ҩыџьа ҕәҕәала ихәуп.

 

Иахьа адунеи иҧсаҟьаны иалаҧсоу аҧсуа хылҵшьҭрақәа ргәыҕрақәа здырҳәало рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟнытә ажәабжь бзиақәа ирзыҧшуп. Рыхынҳәра амш ааигәазтәуа абзиа раҳарц рҭахыуп. Уи амҩа харазтәуа ацәгьа иахыгәырҩауеит.

 

Ажәлар ирдыруазароуп хаҭала дарбану ҳаҧсадгьыл цәҟьарас ишьҭызхыз, изгәаҕьыз ҳҧеиҧш аҕрагылара.

 

Иахьатәи ахҭыс бааҧс аиҧш зеиҧшуу раҧхьатәи ацәгьоура ашьҭахь, иҽеим згәы иҭазкуа дызхымҧара акәаҧ ргылатәын. Уи аҭыҧан алҵшәа змам амақаррақәеи, "дызусҭоу ҳдыруеит, аха макьана иаҳҳәом" ҳәа аҽхырцәажәареи, иҵаҵҕәдоу агәҩарақәеи рыда ҽырҵысы аныҟамла, уажәы иамуазар уажәшьҭан рҳәан, зхы иоужьхаз ацәгьоуцәа рус еиқәаҵәа иаҿуп.

 

Ас ианбанӡа?. Ицәыҵатәан ахысра, алаапк еиҧш маӡала ацәҳара аҧсра еицәазшьоз ҳауаажәлар ирҟазшьам, ирцәаҩам ианаалап ҳәа ҳаҧшума?

 

Иаҳгәалашәозар ауп дысҭахым ҳәа аӡә изуӡбо ухаҭа ушанио.

 

Иахьа анышә зқәыршәшәаны уназхыҵуа ацәгьа уацәы "утәы стәы" еилызымхуа зҩаны иаацәырҵуеит. Усҟан еиқәхо уаҩ дҟалаӡом. Аҧсадгьыл зхы ақәзҵо афырхацәагьы ыҟан иҟалоит есқьынгьы. Убарҭ рхыҧхьаӡара хаирҭәааит иахьа Ацыгәба ҷкәын. Анцәа дырзылбааҧшны аҧсҭазаара иазиырхынҳәааит иахьа зыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылоу ) енгиз *андариеи Нодар Силагавеи. Ас еиҧш ахҭысқәа аҟәыблазааит ҳаҧсадгьыл.

 

Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза жәлар рконгресс анагӡком Шьамтәылатәи, Ҭырқәтәылатәи, Ҟарачы-Черқьестәи, Аҧснытәи, Москватәи, Ростовтәи, Санкт-Петербургтәи, Ставропольтәи алахәылацәа.

 

24.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа дидикылеит Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак амиссиа ахантәаҩы Лиук Хаас

 

Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа дидикылеит Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак амиссиа ахантәаҩы Лиук Хаас.

 

Аиҧылара аартуа Лиук Хаас дрыдашшылеит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иҭархаразы имҩаҧгаз ацәгьоураан атәыла ахада ихьчаҩцәа руаӡәк дахьҭахаз.

 

Аиҧылара иалхәын Жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак амиссиа аусзуҩцәа Аигәун Жанмамадова, Елвис Дзаник, Ева Пухар.

 

Араҟа ирылацәажәеит Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) хабарда иабжьаӡыз рыҧшаареи ринтесификациа амҩаҧгареи рзы аусура аиҽкаара азҵаарақәа ртәы.

 

23.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иҭархаразы ацәгьоура мҩаҧган

 

Жәабран 22, ашьыжь асаат жәба рыбжазы, Гәдоуҭеи Аҟәеи емаздо амҩаҿы Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иҭархаразы аҽазышәара ҟаҵан. Атәыла Ахада имашьынақәа злаауаз амҩаҿы ишьҭаҵан зымчхара дууз артҟәацга. Уи аныҧжәа ашьҭахь ацәгьоуцәа агаранатамиотқәеи апулемиотқәеи рыла ахысра иалагеит. Уи иахҟьаны Аҧсны Ахада ихьчаҩцәа ахәрақәа роуит. Ахьчаҩцәа руаӡәк Ремзик Цыгәба дҭахеит. Ахьчаҩ Ҭенгьыз Ҧандариа иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Александр Анқәаб ааха имоуӡеит. Ианиаамҭаз иусураҿы днеит.

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иҭархаразы имҩаҧгаз ацәгьоуразы апрокуратура хада ашьауҕатә ус хацнаркит абарҭ астатиақәа рыла: “Аҳәынҭқарратә усзуҩ иҧсҭазаара ашәарҭара аҭаргылареи иҳәынҭқарратәи иполитикатәи усура аангылареи рзы”, “Ҩыџьа ма инареиҳаны рҭархаразы аҽазышәара”, “Изакәанымкәа абџьари артҟәацгақәеи рыҵәахреи рхархәареи рзы”. Иаҧҵоуп аусҭҵааратә аоперативтә гәыҧ. Уи иалахәуп апрокуратура хадеи аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә маҵзуреи русҭҵааҩцәа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ашәарҭадаратә хеилак аусзуҩцәеи. Аҧсны аҩныҵҟа ирылаҳәоуп ацәгьоуцәа раанкыларазы аплан.

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иҭархаразы имҩаҧгаз ацәгьоура атәыла ауааҧсыра даара хьаас иҟарҵеит. Араионқәа зегьы рҟны имҩаҧган амитингқәа. Уаҟа иазгәарҭон, ари аҩыза ацәгьоура ҟазҵаз Аҧсны аҭынчымзаара зҭахәы иоуп ҳәа.

 

Александр Анқәаб иҭархаразы ацәгьоуцәа изныкымкәан рыҽҧыршәахьеит. Хыҧхьаӡарала ари ацәгьоура афбатәи ауп.

 

22.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Иҵит 138 шықәса диижьҭеи аҧсуа бызшәеи алитературеи ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа

 

Жәабран 21 рзы, Аҟәа иазгәарҭеит аҧсуа бызшәеи алитературеи ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 138 шықәса аҵра.

 

Дырмит Гәлиа иабаҟахьы инеит Аҧсны ашәҟәҩҩцәа реидгылеи ашәҟәҩҩцәа рассоциациеи ахаҭарнакцәа, Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Кәыбраа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҟәа ақалақь ахадара, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

 

Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәса рзы, Уарча ақыҭан, анхаҩ ҕар иҭаацәараҿы. Ҧшьышықәса данырҭагылаз иҭаацәеи иареи Ҭырқәтәылаҟа ихцан. Аха Дырмит иаб илиршеит иҭаацәа иманы иҧсадгьыл ахь ахынҳәра.

 

1892 ш. рзы Д. Гәлиеи К. Маҷавариани еиқәдыршәеит иахьа уажәраанӡа ҳхы иаҳархәо раҧхьаӡатәи аҧсуа анбан.

 

1912 ш. рзы иҭыҵит Д. Гәлиа иажәеинраалақәа реизга “Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи” . Сынтәа раҧхьаӡатәи аҧсуа шәҟәы иахыҵит 100 – шықәса.

 

1921 ш. рзы Д. Гәлиа еиҿикааит раҧхьаӡатәи аҧсуа атеатртә труппа. Иара иоуп раҧхьаӡа ҧсышәала ицәажәо агазеҭ “Аҧсны” (1919ш.) аҭыжьра хацзыркыз.

 

Д. Гәлиа иоуп изҩыз раҧхьаӡатәи аҧсуа жәабжь “Атәым жәҩан аҵаҟа”.

 

Дырмит Гәлиа дравторуп ҧсышәала иҩу аусумҭақәа жәпакы: арҵага шәҟәқәа, аҧсуаа ретнографиа, аҭоурых, асахьаркыратә ҩымҭақәа уҳәа уб. иҵ.

 

Дырмит Гәлиа иҧсҭазаара далҵит мшаҧы мза 7, 1960 шықәса рзы.

 

2009 ш. рзы Аҟәа иаартын Д. Гәлиа ибаҟа ҿыц (аскульптор С. Иванба).

 

21.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Нишан Ваначеи Шьамил Маршьани Сириантәи Аҧсныҟа иааит

 

Сириантәи Аҧсныҟа иааит ҩыџьа ҳџьынџьуаа Нишан Ваначеи Шьамил Маршьани. Ахәаша, жәабран 17 рзы урҭ идикылеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба. Аиҧылара иалхәын адәныҟатәи аусқәа рминистрра рҟны Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рзы аҟәша аиҳабы Инар Гыцбеи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Аҳмаҭ Маршьани.

 

Нишан Ванача – дархитекторуп, Шьамил Маршьан далгахьеит аиндустриатә ҵараиурҭа. Иахьатәи аамҭазы дара нхоит Аҟәа, асасааирҭа “Аҧсны” аҟны.

 

Сириантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Нишан Ванача иҳәеит, Аҧсныҟа иаара хықәкыс ишамоу иҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь иҭаацәа рырхынҳәра.

 

“Аиҧылараҿы ицәырган Аҧсныҟа иаауа аҭаацәа ацхыраара рыҭара азҵаара. Иахьатәи аамҭазы адәныҟатәи аусқәа рминистрреи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилаки Сириантәи иааз ҳџьынџьуаа ҩ-ҭаацәара ирыцхраауеит (13-ҩык)”, - иҳәеит Инар Гыцба. Ира иажәақәа рыла, адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыхиоуп Сириантәи Аҧсныҟа ааразы агәаҳәара зоуа егьырҭ ҳџьынџьуаагьы рыцхраара.

 

20.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Арежиссиор хада Аҧсны Ахада изеиҭеиҳәеит аҧсуа адраматә театр апланқәа ртәы

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб идикылеит акультура аминистр Бадра Гәынбеи арежиссиор хада, С. Ҷанба ихьӡ зхәу аҧсуа адраматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Заур Ковеи.

 

Аҧсны Ахада дазҵаауан атеатр анапхгара апланқәа ртәы.

 

Ашықәс анҵәамҭазы аҧсуеи аурыси адраматә театрқәа рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит. Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Аҧсны Ахада изеиҭеҳәеит уи апланқәа ртәы.

 

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит атеатр аҿиареи акадрқәа реиҵааӡареи уҳәа егьырҭ азҵаарақәагьы.

 

16.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Ахада Александр Анқәаб диҧылеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Рауф Цымцба

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб диҧылеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Рауф Цымцба. Аиҧылараҿы ирылацәажәеит аминистрра иадыз аплан анагӡара алҵшәақәа ртәы.

 

Аҧсны Ахада раҧхьа иргыланы дазҵаауан Аҟәа ақалақьи Гагра араиони рҟны ашәахтәқәа ралагалара аҭагылазаашьа зеиҧшроу.

 

Уаанӡа иҟаҵаз адырраҭарақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы (2011ш.) Гагра араион иадыз аплан азынамыгӡеит, араион ауал 80 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

 

Аминистр иҳәеит, сынтәатәи ашықәс раҧхьатәи амзазы иҟаҵоу алҵшәақәа шыбзиоу, еиҳарак Аҟәа ақалақьи Гагра араиони рҟны.

 

“Шәара иаашәырҧшлароуп ашәахтәқәа ршәара зҭахым азусҭцәоу. 80 млн. мааҭ рыла ҳара еиҭашьақәҳаргылар ҳалшон ахәыҷбаҳчақәа ҩба”, - иҳәеит Александр Анқәаб.

 

Рауф Цымцба Аҧсны Ахада агәра ииргеит сынтәатәи ашықәс азы аиҵахарақәа шыҟамло ала.

 

15.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҟәа ақлақь аҿари аспорти рзы аилак амҩатә машәыр аҿагыларазы инанагӡоит апроект

 

Ҳазҭоу амза алагамҭа инаркны Аҟәа ақлақь аҿари аспорти рзы аилак инанагӡоит амҩатә машәыр аҿагыларазы апроект. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп еиуеиҧшым акциақәеи аконкурсқәеи рымҩаҧгара.

 

Акциа “Умыццакын” рҽаладырхәыр рылшоит 18 –шықәса зхыҵхьоу, амашьынаныҟәгара азин изҭо ашәҟәы змоу, ҳтәыла ауааҧсыра. Аҳамҭа хаданы иҟоуп “Гран-при Формула – 1” ахь Ҭырқәтәылаҟа атуристтә ныҟәара.

 

Ақциа “Ишәарҭадоу ақалақь” иазгәанаҭоит, Аҟәа ақалақь еиҳарак амашәырқәа ахьыҟало аҭыҧқәа рҟны авидоҭыхгақәа рыҟаҵара. Авидеоҭыхгақәа ирыцклаҧшлоит амҩатә ҧҟарақәа еилазго амашьынаныҟәызго реиҧш, шьапыланыҟәаҩцәагьы. Убри аан еилкаахоит заҟа аҧҟара еилагоу, насгьы урҭ еилазгаз амашьынақәа рномерқәа. Иҭыху анҵамҭа ес-ҩымчыбжь аефирла иарбахоит.

 

Акциа “Бзиа узбоит. Аҧсҟы аныукәы сыугәаларшәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҵабыратә классқәа рҵаҩцәа, аҧштәы змоу акарандашьқәа рыла рҭаацәа ҭырхыр ауп. Аҭыхымҭа адаҧа иҭаргылахоит, “Бзиа узбоит. Аҧсҟы аныукәы сыугәаларшәа” ҳәа анҵаны. Нас, ахәыҷы иҭыхымҭа амашьына иадиҵар ауп. Уи иабзоураны аҧсҟы зкәы игәалашәалоит иаргьы аҩны ахәыҷы дшизыҧшу.

 

Авалантиорцәа ракәзар, ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит амҩатә ҧҟарақәа реилагара иахьынӡашәарҭоу.

 

Иара убас, имҩаҧгахоит аконкурс, амҩатә машәыр иазкәы иреҕьу авидеонҵамҭа, астатиа, аӡыргара уҳәа рыла. Аиааира зго иранашьахоит хәы змоу аҳамҭақәа.

 

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылахоит ахсаала, ақалақьаҿ еиҳарак амашәырқәеи аилагарақәеи ахьыҟоу аҭыҧқәа азырбо.

 

Иара убас, апроект аҟны иарбоуп аусутә еиҧыларақәеи астол гьежьқәеи рымҩаҧгара. Уаҟа тема хаданы иҟалоит амҩатә машәырқәа рҿагыларазы иҟаҵатәу азҵаара алацәажәара.

 

Акциақәа рҽаладырхәырц агәаҳәара змоу иадҵаалар рылшоит Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рзы аилак ахь.

 

15.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Анна Адлеиба дҟаҵоуп аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩс

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа реилазаара адҵаҟаҵарала Анна Адлеиба дҟаҵоуп аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩс.

 

1997 шықәса рзы Анна Адеиба далгеит Аҩада-Уаҧстәылатәи Аҳәынҭқарратә университет, аекономист-акоммерсант изанааҭла.

 

Анна Адеиба уаанӡа аус луан аекономика аминистрраҿы аекономикатә аинвестициатә программақәа рыҟәша аиҳабыс.

 

14.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк иҭнажьуеит 10 – ҧсарк иҟоу аҳаҭыртә араӡны манетақәа рсериа “Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа”

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк Жәабран 15 ашьҭахь иҭнажраны иҟоуп 10 – ҧсарк иҟоу аҳаҭыртә араӡны манетақәа рсериа “Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа”.

 

Амонетақәа ирнызаауеит Аҧснытәи ауахәамақәа рсахьа. Урҭ Драндатәи, Пицундатәи, Лыхнытәи, Мықәтәи, Афон-Ҿыцтәи, Бедиатәи, Елыртәи аныхақәа рсахьа. Атираж 500 цыра инаӡоит.

 

13.02.2012  Аҧсныпресс

 

 600-ҩык аҵаҩцәа алахәуп ақалақьтә амаҭәартә аолимпиада

 

600-ҩык аҵаҩцәа алахәуп иҳаҩсыз аҧсшьарамшқәа рзы иалагаз ақалақьтә амаҭәартә аолимпиада.

 

Актәи атур мҩаҧган Аҟәатәи ашколқәа №10, №2 рҟны. Ашколхәыҷқәа еицлабуеит рдыррақәа аадырҧшырц абарҭ амаҭәарқәа рзы: аҧсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи, аматиматика, ахимиа, афизика, абиологиа, агеографиа, аҭоурых рзы.

 

Аҟәатәи ашколқәа рыбжьара аолимпиадаҟны аиааира зго аҵаҩцәа рыхьӡ еилкаахоит март мзазы. Урҭ ирзыҧшуп аграмотақәеи аҳамҭақәеи.

 

13.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Иаҧҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа аҧсуа-база жәлар Адунеизегьтәи рконгресс 20-шықәса ахыҵра инамаданы, аныҳәатә хәылҧазқәа рымҩаҧгаразы

 

Иаҧҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа аҧсуа-база жәлар Адунеизегьтәи рконгресс 20-шықәса ахыҵра инамаданы, аныҳәатә хәылҧазқәа рымҩаҧгаразы. Убри азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб.

 

Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан анапхгара зылҭо акомиссиа иалоуп: арепатриациаз аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы З. Адлеиба, аҧсуа-база жәлар Адунеизегьтәи рконгресс амаӡаныҟәгаҩ хада Г. Аламиа, аҧсуа аҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аиҳабы И. Аргәын, акультура аминистр Б. Гәынба, аҵара аминистр Д. Наҷҟьебиа, аҧсуа аҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ еиҳабы Т. Џьопуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр В. Чыргба, аҧсуа-база жәлар Адунеизегьтәи рконгресс апрезидент Тарас Шамба.

 

Акомиссиа иадҵоуп мызкы иалагӡаны аныҳәатә хәылҧзқәа рымҩаҧгаразы аплан шьақәдыргыларц.

 

Сынтәа аҧсуа-база жәлар Адунеизегьтәи рконгресс иахыҵуеит 20 – шықәса. Аиубилеитә еилатәара амҩаҧгара азгәаҭоуп сентиабр мзазы.

 

Аҧсуа-база жәлар Адунеизегьтәи рконгресс аҧҵан 1992 ш. рзы. Аибашьраҿы аиааира агара акәын аконгресс усҟан хықәкыс иамаз. Уи ашьҭахь Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵареи аҧсуа адиаспора рҟны аимадара абжьаҵареи азҵаарақәа ракын аконгерсс ззааҧсоз.

 

09.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Леонид Лакербаиа идикылеит Қырҭтәыла иҟоу Европатәи Аидгыла ацҳаражәҳәаҩ Филипп Димитров хадара ззиуаз аделегациа

 

Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа идикылеит Қырҭтәыла иҟоу Европатәи Аидгыла ацҳаражәҳәаҩ Филипп Димитров хадара ззиуаз аделегациа.

 

“Ҳгәаанагарақәа шеиҧшымгьы ҳара ҳазыхьиоуп иаарту аиҿцәажәара, Аҧсни Европатәи Аидгылеи ирыбжьоу апроблемақәа рылацәажәаразы”, - иҳәеит аҧыза-министр.

 

“Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҧш, Аҧсны атәылауаа европауааны рхы рыҧхьаӡоит, урҭ рзы Европатәи Аидгыла ирацәоуп иҟанаҵо: аҵарадырра, акультура уҳәа рганахьала”, - иазгәеиҭеит Леонид Лакербаиа.

 

Филипп Димитров Аҧсны аиҳабыра идирдырит иаара аибадырратә ҟазшьа шамоу.

 

Европатәи адипломат дазҵаауан Аҧсны ауааҧсыра рхы иақәиҭны аҳәаанырцәҟа рныҟәара азҵаара, европатәи аҵараиурҭақәа рахь Аҧсны аҿар рныҟәара, иара убас аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵыз апроблема - Қырҭтәылантәи Аҧсныҟа аҧара аиагара азҵаара уҳәа егьырҭгьы.

 

Анаҩыс, аиҧылара мҩаҧысуан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

 

Леонид Лакербаиа иажәақәа рыла, аиҧылара гәаартыла имҩаҧысит. “Европатәи Аидгылеи егьырҭ жәларбжьаратәи аструктурақәеи иҟалап иаарласны Аҧсны азы ирымоу ргәаанагара рыҧсахыр, Аҧсны Қырҭәылаҟа ишхнымҳәуа анеилыркаалакь”, - иҳәеит аҧыза-министр.

 

Иара иазгәеиҭеит Аҧсны ахаан ишрыдрымкыло Европатәи Аидгыла ҳара ҳҿар аҳәаанырцәҟа иалацаларц иҳадыргало қырҭтәылатәи апаспортқәа.

 

“Ҳара иҳамоуп жәларбжьаратәи астандартқәа инарықәыршәаны иҟаҵоу аҳәаанырцәтәи Аҧсны атәылауаҩшәҟәы, ҳара ҳазықәҧалоит урҭ рыла ҳәтәылауаа аҳәаанырцәҟа иаланыҟәо иҟаларц”, - иҳәеит Леонид Лакербаиа.

 

09.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Очамчыра ақалақь ашҭа хада Сергеи Багаҧшь ихьӡ ахызаауеит

 

Очамчыра ақалақь ашҭа хада Сергеи Багаҧшь ихьӡ ахызаауеит. Аҧсны Ахада ихьӡ ахызаауеит иара убас, анышә дахьамадоу иқыҭа гәакьа Џьгьардаҟа ицо амҩа. Убри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Очамчыра араионтә еизара реилатәараҟны.

 

09.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2011 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ирылацәажәеит Аҧсны Ахада Александр Анқәаби аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Оҭар Хьециеи реиҧылараҟны

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2011 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ирылацәажәеит Аҧсны Ахада Александр Анқәаби аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Оҭар Хьециеи реиҧылараҟны.

 

Оҭар Хьециа иажәақәа рыла, 2010 шықәса аасҭа, иҳаҩсыз ашықәс азы ацәгьаурақәа рхыҧхьаӡара еиҳа имаҷуп, аха уи иаанагом ацәгьаурақәа еиҵахеит ҳәа. Аминистр иазгәеиҭеит, уи уаанӡа аҭыҧ змаз ацәгьаурақәа ашәҟәы рҭамгалара ишадҳәалоу.

 

Аҧсны Ахада ҿырҧштәыс иааигеит, Гагра араионаҿ шықәсык рыҩныҵҟа 77 ҕьычра мацара ҟалеит ҳәа зҳәо астатистика. Иара иажәақәа рыла, Гагра араионаҿ 77 ҕьычра мацара ҟалеит ҳәа аҳәарагьы ацәгьауроуп.

 

Атәыла Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара ирыдиҵеит ас еиҧш иҟоу азҵаарақәа ахылаҧшра арҭарц.

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиа аилатәара амҩаҧгара азгәаҭоуп Жәабран 10 рзы.

 

07.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Адәныҟатәи аусқәа рминистр идикылеит агәыҳалалратә усбарҭа MSF ахаҭарнакцәа

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба идикылеит агәыҳалалратә усбарҭа MSF (“Аҳақьымцәа ҳәаада”) ахаҭарнакцәа. Уаҟа ирылацәажәеит аусбарҭа Аҧсны инанагӡо апрограммақәа ртәы.

 

Аиҧылара иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хьинҭба, адәныҟатәи аусқәа рминисрра жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агрбеи аконсултә ҟәша аиҳабы Мартин Ҭаркьыли.

 

Амиссиа MSF Аҧсны инанагӡоит ҩ-программак: аҭаацәара ҕарқәа медицинатә цхыраара рыҭареи арҧхачымазара азықәҧара апрограммеи.

 

Аминистр аусбарҭа Аҧсны инанагӡо аусура ахә ҳаракны ишьеит, агәыҕра ааирҧшит анаҩысгьы аусеицура ишацҵахо ала.

 

07.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Ауаажәларратә палата имҩаҧнагоит анаркоманиа иаҿагыланы ақәҧара иазку иҷыдоу аилацәажәара

 

Жәабранмза 1 азы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иҟан еиуеиҧшым азҵаарақәа.

 

Апалата аусура алагеит уи алахәылаҩ ҿыц иалхра ала, Базильски даҽа усурак ахь дахьиасыз иахҟьаны Олег Колебатов иҭыҧ ааникылеит.

 

Амшхәаҧштә аҩбатәи азҵаарас иҟан анаркоманиеи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәареи ирызкны аусуратә гәыҧ иҟанаҵаз алкаақәа рылацәаәара. Уи азҵаара ҩаҧхьа иалацәажәоит 2012 шықәса хәажәкырамза аҩбатәи азбжахь.

 

Уи ашьҭахь иалацәажәеит Аҧсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рҿы Ауаажәларратә палата инанагӡо ароль.

 

Аҵыхәтәантәи зҵаарас иҟан амобилтә еимадарақәа «Аквафони» «А-Мобаили» жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рзы ахәҧса иахьацырҵаз.

 

Атәыла анапхгарахь ааҧхьара ҟарҵеит агәҭынчымра шаадырҧшуа ала, иара убасгьы ахәқәа рыцҵаразы зыӡбахә ҳәаз амзызқәа рыгәрагара шуадаҩу.

 

06.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымзаара аанарҧшуеит Қарҭтәи абахҭаҿы иҭакәы хҩык аҧсуаа абаандаҩцәа рлахьынҵазы

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба диҧылеит Аҧсны иҟоу жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак амиссиа ахантәаҩы Лиук Хаас.

 

Аиҧылараҿы излацәажәоз атемақәа ируакын Қарҭтәи абахҭаҿы иҭакәы хҩык аҧсуаа абаандаҩцәа рлахьынҵа.

 

Лиук Хаас иажәақәа рыла, абаандаҩцәа рлахьынҵа аилкааразы жәларбжьаратәи аџьар ҟаҧшь аилак иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит. Амиссиа абзоурала урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи рахь аацҳара аарышьҭыртә еиҧш аҭагылазаашьа аҧырҵоит.

 

Иара убас амиссиа ахаҭарнак далацәажәеит аусбарҭа иахьатәи аамҭазы инанагӡо аусмҩаҧгатәқәа ртәы. Хаҭала, аҧсуа-қырҭуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауааҧсыра рыҧшаареи урҭ рҭаацәа ацхыраара рыҭареи азҵаара.

 

Араҟа ирылацәажәеит егьырҭ агәыҳалалратә ҟазшьа змоу азҵаарақәагьы.

 

Аиҧылара иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хьинҭбеи адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агырбеи.

 

03.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә еилакы аколлегиа аилатәара мҩаҧысит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә еилакы аколлегиа аилатәара мҩаҧысит. Уаҟа иҳаҩсыз ашықәс аилак аусура аихшьаалақәа ҟаҵан. Аколлегиа аилатәара далахәын Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Алксандр Страничкин.

 

Аилатәараҿы еилкаахеит 2011 шықәса рзы адәныҟатәи атауар аалыҵ аоперациақәа рхашәала 15,641 млрд. мааҭ шартәаз.

 

“Ари 2010 – тәи ашықәс аасҭа 3,28 млрд. мааҭ рыла еиҳауп (124%)”, - иҳәеит аилатәараҿы иқәгылаз аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Ашәба. Иара иазгәеиҭеит, аекспорттә аоперациақәа ишышьақәдыргылаз 12%, аимпорттә аоперациақәа 88%.

 

2011 шықәса рзы аҳазалхратә усбарҭақәа иахырыҧхьаӡалеит 546,8 млн. мааҭ аҳазалхратә шәахтәқәа. Аплан нагӡан 101% рыла.

 

2011 шықәса ирылагӡаны аҳазалхратә усбарҭақәа ашәҟәы иҭаргалеит 12 нызықь инареиҳаны аидаратә аҳазалхратә декларациақәа. Шықәсык иалагӡаны мшынла аҳәаа иахыгаз атауарқәа 18% шьақәдыргылеит, аихамҩала – 21%, автомобильтә транспортла 61%.

 

2011 шықәса рзтәи аҳазалхратә еилакы аусура хар амам ҳәа иҧхьаӡоуп.

 

02.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсуеи аурыси адраматә театрқәа рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ашықәс анҵәамҭазы

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб идикылеит акультура аминистр Бадра Гәынбеи уи ихаҭыҧуаҩ Динара Смыри.

 

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит С. Ҷанба ихьӡ зхәу Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә адраматә театри аурыс адраматә театри рҟны ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы. Акультура аминистр иажәақәа рыла, аусурақәа ибзианы ицоит. Иара иазгәеиҭеит, аусурақәа шхыркәшахо ашықәс анҵәамҭазы.

 

Александр Анқәаб иҳәеит, атеатрқәа аартраан аспектакль ҿыцқәа цәыргазар даара ишыбзиахо. Бадра Гәынбагьы иҳәеит, артистцәагьы уи аҩыза агәаҳәара шрымоу.

 

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит егьырҭ азҵаарақәагьы.

 

02.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Апрокуратура хада аколлегиа иҳәаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟанаҵеит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура хада аколлегиа аилатәара мҩаҧысит. Уаҟа иҳәаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵан.

 

Аилатәара иалхәын Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы Беслан Кәыбраа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Оҭар Хьециа, аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Саид Ҭаркьыл, аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Нугзар Самсониа, Иреиҳаӡу Аӡбарҭа ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Георги Акаба.

 

Иҳаҩсыз ашықәс апрокуратура аусура атәы дахцәажәеит иқәгылараҿы апрокурор хада актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Кәыҵниа. Иара инарҭбааны далацәажәеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русушьеи рҭагылазаашьеи.

 

Аколлегиа аилатәараҿы иқәгылеит Аҟәа ақалақьи, Гали, Тҟәарчали, Гәдоуҭеи араионқәа рыпрокурорцәа.

 

01.02.2012  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата аилатәара мҩаҧысит

 

Февраль мза акы рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата аилатәара мҩаҧысит.

 

Аилатәара аатит Ауаажәларратә палата алахәыла ҿыц Олег Колебатов ирдырра ала. Уи иҭыҧан уаанӡа иҟаз Базильски имаҵура аанижьит даҽа аусурҭахь ииасра инамаданы.

 

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаба Олег Колебатов инарҭбааны дихцәажәеит. Олег Колебатов Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) Ҟабарда еиҿикааит ахатәгәаҧхаҩцәа ратриад. Ианашьоуп Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара. 2000 шықәса раахыс аус иуан агазеҭ “Северныи Кавказ” аҟны. Ауаажәларратә палата алахәылацәа зегьы еицҿакны рыбжьы рҭиит Олег Колебатов апалата иалаҵаразы.

 

Амшхәаҧштә аҩбатәи зҵаараны ицәырган анаркоманиа апроблема аӡбаразы иаҧҵаз аусутә гәыҧ апроект алацәажәара.

 

Аусутә гәыҧ анапхгаҩы Даниил Убириа адырра ҟаиҵеит ари аус аҟны активла рхы шаладырхәыз Руслан Делбеи Дмитри Занҭариеи. Ауаажәларртә палата аҟынтәи аусутә гәыҧ иалан: Арда Инал-иҧа, Фируза Қапба, Иван Зарандиа. Апалата ареферент Мадина Адлеиба даҧхьеит апроект аҟны ицәыргоу апунктқәа жәаба. Араҟа еилкаахеит арҭ апунктқәа рҟны ишазгәаҭам ауаажәларратә палата иҟанаҵахьаз аҧшьгарақәа. Наҭела Акаба иазгәалҭеит, ари апроект аус адулара шаҭахәы.

 

Анаҩыс, ирылацәажәеит Ауаажәларратә палата ароль Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхрақәа раан.

 

Аилатәара ахырқәшамҭаз ицәырган аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ареспубликаҿы иактуалхаз атема: жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рзы амобилтә еимадара ахә ацлара. Иазгәаҭатәуп, аҳәаанырцәҟа амобилтә еимадара минуҭк 15 мааҭи 60 коп. ишаҧсхаз (уаанӡа 6 мааҭ.). Еилкаахеит ари аҩыза аҭагылазаашьа шаҧҵахаз аҳәынҭқарратә еимадара еиҳау ахархәара аиурц азы. Убри инамаданы, Ауаажәларратә палата алахәылацәа Аҧсны ахадарахь ирышьҭит агәҭынчымзаара азырҧшуа ашәҟәы.

 

01.02.2012  Аҧсныпресс