AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 

 Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхаҭарнакцәа Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыҟнытә иобиективтәу лкаа ҳәа акагьы иазыҧшым

 

Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхаҭарнакцәа рхы аладырхәуеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәныртәалареи ирызкны Женева имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа, аха урҭ мраҭашәаратәи аполитикцә рыҟнытә иобиективтә лҵшәа ҳәа акагьы иазыҧшым.
 

„Ҳара уахь идәықәаҳҵеит ҳделегациа, аха сара ҩныҵҟатәи цәаныррала издыруеит, аиҿцәажәарақәа рҟны ииашоу лкаа ҳәа акагьы шыҟамло. Ирацәаҩны жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәара аҧышәала издыруеит, урҭ аиаша аилкаара ишашьҭам, дара рзы иаҳа ихадароуп, аҭыҧ змоу ахҭысқәа рзы Урыстәылеи Аахыҵ Уаҧстәылеи ахара рыдҵара“, - иҳәеит Аахыҵ Уаҧстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Едуард Кокоиты.
 

„Ҳара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь гәрагара дукгьы ҳамам“, - иазгәеиҭеит уи, Европатәи Аидгыла апарламенттә Ассамблеиа, ҳазныу ашықәс, цәыббрамзазы Аахыҵ Уаҧстәылаҟа раара игәаларшәо. „ Европатәи Аидгыла Апарламенттә Ассамблеиа ажәлар рхьаа зынӡаск ирдырырц рҭахӡамыт. Урҭ заанаҵ ирыҩхьан ражәахә. Аиҧылара иагхеит ҧшь-сааҭк, убри аамҭа  зегьы ақырҭуа қыҭақәа рыхәаҧшра иақәырӡуа. Араҟа ,урҭ сааҭкгьы иаанымхеит, изхәаҧшыз ҳәагьы акагьы ыҟам. Сара агәаанагара сымоуп Женевагьы абри аҩыза азнишьа шаадырҧшуа ала“, - иазгәеиҭеит Кокоиты.
 

Аахыҵ Уаҧстәылантә Женеваҟа ицаз аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аахыҵ Уаҧстәыла аиҳабыра рхада инапынҵақәа назыгӡо Борис Чочиев, Адәныҟатәи Аусқәа рхада Мураҭ Джиоев, Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Константин Кочиев.
 

Аҧснытәи аделегациа хадара азиуеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамба. Уи аилазаараҟны иҟоуп жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба, Адунеизегьтәи Аҧсуа-Ашәуа Жәлар р-Ассоциациа Анагӡком иалоу Зеки Қапба. Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Максим Ҕәнџьиа ИТАР-ТАСС акорреспондент даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит: „Ҳара ҳақәгәыҕуеит, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи арҭ абжьгарақәа рҟни аринахыстәи Кавказ аҭагылазаашьазы аиҿцәажәарақәеи рҟны азин-наӡа ҳауп, ҳара уаҟа ҳалахәхара Мраҭашәареи Европатәи Аидгыла атәылақәеи шаҿагылоугьы“.
 

Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рделегациақәа Женева инеит. Урҭ уаҟа ралахәхаразы Урыстәылоуп ажәалагала ҟазҵаз. Аха, Европатәи Аидгыла Женева иҟоу Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟәша  еснагьтәи ахаҭарнакцәа адырра злаҟарҵаз ала, „иазгәаҭоуп, апленартә еилатәара аҟны акәымкәа аусуҩтә гәыҧқәа ҩба реилатәара аҟны мацара шакәхо урҭ ахьалахәхо“. Женева иҟоу Урыстәылатәи адипломатиатә хыҵхырҭақәа инаҵшьны иазгәарҭеит „ Урыстәыла аган ахы шаланархәуа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни злахәу аилатәарақәа рымацара.“

 

16.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа Москваҟа ицеит Белорусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 34-тәи асессиа алахәхаразы

 

Иахьа Ареспублика Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа Москваҟа ицеит Урыстәылеи Белорусиеи Реидгыла рпарламенттә Еизара 34-тәи асессиа сасцәақәак раҳасабала аҽалархәразы.

 

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп – Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба, апарламентбжьаратәии адәныҟатәии еимадарақәа рзы аиҿкаара ахантәаҩы Гәрам Гәмба, аекономикатә политика азы аиҿкаара ахантәаҩы Павел Лешьук.

 

Абри атәы аанацҳауеит апарламент апресс-маҵзура.

 

Белорусиеи Урыстәылеи Реидгыла Рпарламенттә Еизара азгәаҭоуп жьҭаара 16-17 рзы Москва.

 

16.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Европатәи Аидгыла ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла Афедерациа Қырҭтәылантә архәҭақәа ралгаразы иагаз ахыдҵа шынанагӡаз

 

Европатәи Аидгыла ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла Афедерациа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни ирыҧныз ашәарҭадара азона аҟнынтә архәҭақәа шалнагаз, еицыҟаҵаз аплан Медведев-Саркози инақәыршәаны, - иҳәеит Франциа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр, Европатәи Аидгылаҟны хантәаҩра зуа Бернар Кәшнер.

 

„Урыстәыла инанагӡеит ахыдҵақәа“,- ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит аминистр ашәахьаҽны Лиуксембург имҩаҧысуаз  аиҧылара ахыркәшамҭаз.

 

14.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны аделегациа алахәхоит Женева имҩаҧысуа Кавказ аҭагылазаашьазы жәларбжьаратәи абжьгарақәа

 

Аҧснытәи аделегациа зхадараҿы дыҟоу Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба иалахәхоит, жьҭаара 15 рзы Женева имҩаҧысуа Кавказ аҭагылазаашьазы жәларбжьаратәи абжьгарақәа. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Максим Ҕәнџьиа.

 

Аҧсуа делегациа аилазаараҟны иҟоуп, иара убасгьы жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикбеи Адунеизегьтәи Аҧсуа-Ашәуа Жәлар р-Ассоциациа Анагӡком иалоу Зеки Қапбеи.

 

„Ҳара ҳақәгәыҕуеит, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи арҭ абжьгарақәа рҟни аринахыстәи Кавказ аҭагылазаашьақәа рзы аиҿцәажәарақәеи рҟни азин – наӡа ҳауп ҳәа, ҳара уаҟа ҳалахәхара Мраҭашәареи Европатәи Аидгыла атәылақәеи шаҿагылоугьы,“ – иҳәеит Максим Ҕәнџьиа.

 

14.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Урыстәылатәи Архәҭақәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рааныжьра азҵаара арҭ ареспубликақәа рнапхгара ирыӡбароуп

 

Лиуксембург, жьҭаара 13. Урыстәылатәи Архҭақәа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни ртерриториақәа рҟны рааныжьра азҵаара, Москва агәы иҭоуп арҭ ихьыҧшым аҩ-республикак рнапхгара рыцыӡбара, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Европатәи Аидгылаҟны аофициалтә хаҭарнак Владимир Чижов.

 

Урыстәыла Апрезидент иҳаҩсыз ахәашаҽны аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рзааигәара, ашәарҭадара зонақәа рыҟнытә абжьаҟазаратә мчқәа ралгаразы Урыстәыла иагаз ахыдҵа шынанагӡаз ала. Аха, Франциа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр, Европатәи Аидгылаҟны хантәаҩра зуа, аҳәамҭа ҟаиҵеит, Урыстәыла архәҭақәа зегьы Қырҭтәылантә иалнамгеит ҳәа.

 

„Ахалгорсктәи араион Аахыҵ Уаҧстәыла ишахәҭакыу аиҧш, Кәыдры аиҩхаагьы Аҧсны иахәҭакыуп, убриазын, уаҟатәи Урыстәылатәи архәҭақәа рыҟазаара азҵаара Урыстәылеи, арҭ ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәеи роуп изусу“, - иҳәеит Чижов.

 

13.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧснытәи асахьаҭыхцәа рнапаҟны ирыҭоуп Урыстәыла асахьаҭыхцәа Реидгыла ишалоу зырҵабыргуа абилеҭқәа

 

Аҟәатәи асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵа хадаҿы 13-ҩыуаак аҧсуа сахьаҭыхцәа ирыҭан Урыстәыла асахьаҭыхцәа Реидгыла ишалоу зырҵабыргуа абилеҭқәа.

 

Аидгылахь ирыдкылоуп асахьаҭыхцәа, уаанӡа СССР асахьаҭыхцәа Реидгыла иалаз. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны – Виталии Џьениа, Виталии Қацәба, Руслан Габлиа, Виссарион Ҵыџь, Зоиа Џьынџьал, Лиалиа Хәрхәмал, Заур Мықәба, Валериан Ҭарба, Валерии Багаҭелиа, Рудик Хочава, Иван Жулинскии, Амиран Адлеиба, Венера Гагәлиа. Евгении Котлиаров асахьаҭыхцәа Реидгыла абилеҭ изылҩаауп даныҧсы ашьҭахь.

 

Аҧснытәи асахьаҭыхцәа рнапаҟны аршаҳаҭгақәа рыҭо, Урыстәыла асахьаҭыхцәа Реидгыла ахаҭарнак Николаи Боровскои иазгәеиҭеит „Урыстәылатәи ашәыгақәа реилазаара, аҧсуа ҧшшәахәқәагьы рыцлеит“ ҳәа. Ацәыргақәҵаҿы иҟан, иара убасгьы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла асахьаҭыхцәа Реидгыла Шәачатәи афилиал ахантәаҩы Иурии Прокатови.

 

13.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Жьҭаара 11 рзы 16 шықәса ҵуеит Аҧсны Арбџьармчқәа аҧҵоижьҭеи

 

Уаҵәы, жьҭаара 11 рзы 16 шықәса ҵуеит Аҧсны Арбџьармчқәа аҧҵоижьҭеи.

 

1992 шықәса. жьҭаара 11 рзы Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара Аминистрреи Арратә шаб хадеи раҧҵаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә - официалла иҧхьаӡоуп Ареспублика Аҧсны – Арбџьармчқәа раҧҵара иамшны – аҧсуа ар риира амш.

 

Иахьа 14 сааҭ рзы ашәҭқәа шьҭарҵеит Ахьӡ - аҧша абаҟаҿы. Ахәлҧаз, атәылахьчара аминистрра ақҭтә зал аҟны имҩаҧысуеит агәырҕьаратә еилатәареи аныҳәатә концерти.

 

10.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда ҿыц Иохан Вербекеи алацәажәеит ООН амиссиа Аҧсны аринахыстәи аусура азҵаатәы

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда, Қырҭтәыла ахылаҧшразы ООН амиссиа ахада ҿыц Иохан Вербекеи иахьа, Аҟәа, иалацәажәеит ООН Амиссиа Аҧсны аринахыстәи аусура азҵаатәқәа.

 

Иохан Вербеке (Бельгиа) Аҧсны раҧхьаӡа акәны дааит, ҩышықәса раахыс ари амаҵураҿы аус зуаз Жан Арно диҧсахит.

 

Аиҧылара мҩаҧысуан ажурналистцәа аламырхәӡакәа. Аиҧылара иалахәын, иара убасгьы ООНамиссиа ахада ихаҭыҧуаҩ Иво Петрови Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамбеи.

 

Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Алхас Ҷолокәуа ажурналистцәа излареиҳәаз ала, „Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аиҧылараҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра ахьазханаҵаз инамаданы, ООН амиссиа аусура ахырхарҭа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иақәшәароуп ҳәа“.

 

„Аҳәынҭқарра Ахада иахәҭаны иҧхьаӡоит ООН амиссиа ахьӡи, аформати рыҧсахра“, - иҳәеит Ҷолокәуа. „Қырҭтәыла ахылаҧшразы ООН амиссиа“–ҳәа ахьыӡ ҧсахымкәа иаанхар, аринахыс Қырҭтәыла иахылаҧшлааит, Аҧсни Қырҭтәылеи еизыҟазаашьа ҳәа акагьы рыбжьам“, - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа ааигеит Алхас Ҷолокәуа.

 

Амиссиа ахадагьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, жьҭаарамза 15 рзы ООН амиссиа аусура аҿҳәара шынҵәо, иаанхаз аамҭа кьаҿ иалагӡаны, уи аструктуреи аформати рыҧсахра алшом ҳәа.

 

С.Багаҧшь ари азҵаара ауадаҩрақәа шацыу дазааҭгыло, иҳәеит ООН амиссиа ахьыӡ ҧсахымзар ада ҧсыхәа шыҟам.

 

Европатәи Аидгылеи, ОБСЕ-и рырратә хлаҧшцәа рызҵаара дазааҭгыло, С.Багаҧшь иҳәеит „Урҭ ыҟазароуп аибашьра ашәара ахы ахьыҵнахуа – Қырҭтәыла“ – ҳәа.

 

06.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Иохан Вербеке имаҵураҿы диҧсахит ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Жан Арно

 

Аҧсны дааит ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда ҿыц Иохан Вербеке. Иохан Вербеке ари амаҵураҿы Жан Арно диҧсахит.

 

Амҽышаҽны, жьҭаарамза 5 рзы, Иохан Вербеке дырҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи Аҧсны адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи. Аиҧылара ихы алаирхәт ООН амиссиа ахада ихаҭыҧуаҩ Иво Петров.

 

06.10.2008    Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада