AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------

Аҧсуа шрифт



 
 Ахьыҧшымра азхаҵара
 

Аҟәa, Аҧсны иагәҭакыуп ареспублика ахьыҧшымра азхаҵаразы официалла Еквадор ашҟа  ааҧхьара ҟанаҵарц. Абри атәы иҳәеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамба. „Ари иаарласны иҟалоит, Еквадор апрезидент Рафаель Корреа итәылахь дшыгьежьлак, диҧылараны дыҟоуп Аҧсны ахаҭарнак, уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны ахьыҧшымра азҵаара иахәаҧшразы аҳәара ахьыҟаиҵо ааҧхьара изнеигоит“, - иҳәеит аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада.

 

Ахәашаҽны, Еквадор апрезидент амассатә-информациатә хархәагақәа рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит „аҩ-республикак рхьыҧшымра азхаҵаразы Еквадор ашҟа аҳәара ҟарҵар, ҳара ари азҵаара ишахәҭоу ала ҳахәаҧшуеит“.

 

30.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа реилатәара

 

Аҟәa, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа реилатәара, уаҟа иалацәажәан ареспублика акриминогентә ҭагылазаашьа, иазааҭгылан иара убас Очамчыра араион аҟны аинкоссаторцәеи Афон Ҿыцтәи акоммерциатә банки рырҳәра иадҳәалоу ахҭысқәа.

 

Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа азыӡырҩит аҵыхәтәантәи ҩ-хҭыск русҭҵаара ацашьазы ажәахә. Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь аилатәара аихшьаалақәа рыла амчратә структурақәа рнапхгаҩцәеи Ахадарақәа реиҳабацәеи иашьашәалоу анапынҵақәа риҭеит.

 

30.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аидҵа „Pro Abkhazia“ (Германиа) Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь 2010 шықәса аҧсуа бызшәа иашықәсны ирылаиҳәаз иадгылоит

 

Аидҵа „Pro Abkhazia“ (Германиа)  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи рџьынџьуааи ирыдырныҳәалоит Аҧсуа бызшәа амш! Жьҭаара 27 рзы Аҧсны Аҧсуа бызшәа иамшны иазгәарҭоит.

 

„Ҳара, гәахәарыла иҳадаҳкылрит ас еиҧш аныҳәа амҩаҧгара, ҭабуп ҳәагьы иаҳҳоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иааиуа 2010 шықәса Аҧсуа бызшәа иашықәсны иахьрылаиҳәаз“, - азгәаҭоуп ашәҟәы аҟны.

 

Германиа инхо ҳџьынџьуаа ргәаанагарала, „ахатәы бызшәа еиднакылоит ҳажәлар рхаҭарнакцәа иахьынхозаалакгьы“. „Иџьашьахәу иҧшӡоу аҧсуа бызшәа Европатәи аҵарауаа- ныҟәацәа еснагь иазҿлымҳан, уи азын иаҧырҵахьеит имаҷымкәа анаукатә усумҭақәа. Уи Нарҭтәи аепос иабызшәоуп, уи абызшәала иҩуп адунеитә литература ашедеврқәа ирыламҩашьо аҩымҭақәа. Иазаҳаҧхьаӡоит, уи аиқәырхареи арҿиареи аамҭа ҳҿаҧхьа иқәнаргыло аусхадақәа иреиуоуп ҳәа“, - иазгәанаҭоит  аидҵа„Pro Abkhazia“.

 

Аҧсны аус адулоуп ахатәы бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә Программа, ари азҵаара иазкны имҩаҧыргоит аконференциақәеи, асимпозиумқәеи, иҭыжьыуп арҵага шәыҟәқәа, иаҧҵоуп акомпиутертә программақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Аҧсуа  хәыҷқәа Рыҧсадгьыл аҟны аҭагылазаашьа шьахәқәа рзаҧҵоуп рхатәы бызшәала ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рыҟны аҵара рҵаразы. Адиаспора абиҧара қәыҧш икармыжьроуп, идмырӡроуп, уи азын аҳәаанырцә аҭагылазаашьа бзиақәа рзаҧҵамзаргьы.

 

Мрагылара Европа аҟны аҧсуа, абаза, ачеркесс бызшәақәа рҵара, ашәҟәы аҟны излазгәаҭоу ала, атрадициа харантә иаауеит. „Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы кавказтәи акәльтуратә центрқәа рыҟны ирҵон. Иахьазы, аҧсуа бызшәа аҵара еиҿкаауп аинтернет ала. Ҽазныкгьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аҧсны анапхгареи Аҧсуа бызшәа аҿиара афонди иаҳзаарышьҭуа аматериалқәа рзы.Аинтернет ала иаларҵәоуп, иара убас европатәи абызшәақәа рахь еиҭагоу  аҧсуа литература арҿиамҭақәа“.

 

2007 шықәса рзы Антерпене ақалақь аҟны (Бельгиа) адиаспора ахаҭарнакцәа рконгресс аҟны аӡбара рыдыркылеит (жьҭаара 27) адиаспора ахьынхозаалак аҧсуа бызшәа Амш азгәарҭаларазы. „Имҩаҧысуеит аконференциақәеи, асеминарқәеи, уаҟа ирылацәажәоит аҳәаанырцә инхо адиаспора рхатәы бызшәа аиқәырхареи, аҿиареи апоблемақәа. Аусеицура ҳабжьоуп (Франкфурт, Германиа) „Европатәи аҳәса Жәларбжьаратәи аклуби“ ҳареи. Уаҟа алитературатә хәылҧазқәа рыҟны ирыҧхьоит хатәы бызшәала аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа“, - иазгәаҭоуп ашәҟәы аҟны.

 

„Иааиуа ашықәс азы иазгәаҭоуп Германиа Аҧсны акәльтуреи анаукеи ирызкыу иакымкәа аконференциақәа рымҩаҧгара, иара убас иазҧхьагәаҭоуп зхыҧхьаӡара маҷу ажәларқәа рыцхыраара афонд аус ацуреи. Ҳгәы иаанагоит, иарбоу апланқәа рынагӡара алҳаршап ҳәа ҳаҧсадгьыл аҿы иҟоу ҳџьынџьуаа рыцхыраарала“, - азҧхьагәаҭоуп ашәҟәы аҟны.

 

29.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иагәҭакыуп Павловтәи амашьынатә зауад аҟны автобусқәа раахәара

 

Аҧсны иагәҭакыуп Павловтәи амашьынатә зауад аҟны автобусқәа раахәара. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Нижегородсктәи аобласт агәбернатор Валерии Шанцев, Аҧсны аҧыза-аминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Страничкин иҿцәажәара ашьҭахь.

 

Агәбернатор иазгәеиҭеит, аҧсуа делегациа Нижегородсктәи аобласт аҟны рыҟазаараан ишаҭааз Павловтәи автомашьынатә зауад, уи ашьҭахь ишрыдыркылаз абас еиҧш аӡбара.

 

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, иара убас иазгәеиҭеит, ареспублика иахьазын ишаҭахыу 100 автобуск иреиҵамкәа.

 

Абри атәы аанацҳауеит Нижегородсктәи аобласт Аиҳабыра ринформациатә агентра арегионалтә саит.

 

29.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны Денис Чачхалиа иҩымҭала арежиссиор Нелли Ешба иқәлыргылеит аспектакль ҿыц „Али-беи“

 

Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны Денис Чачхалиа иҩымҭала арежиссиор Нелли Ешба иқәлыргылеит аспектакль ҿыц „Али-беи“.

 

„Али-беи“ – 18-тәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы Египет аҭыҧ змаз ахҭысқәа аазырҧшуа ҭоурыхтә драмоуп.

 

„Ари аповет иаанарҧшуеит аҧсуа ҷкәын, итҟәаны тәытәихра иҭиыз, Египет аҭоурых аҟны ароль ду ихәмарыз Али-беи илахьынҵа. Уи ажәеинраала изикхьан апоет Генрих Геине. Иара ииааирақәеи иеихьӡарақәеи ирызҿлымҳан Европа аҵарауаа зегьы. Наполион Египетҟа иқәыларақәа рыламҭалазы иҭиҵаауан Али-беи ибиографиа.“

 

Аспектакль ақәыргылара алыршоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны аиҳабыреи иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.

 

Аспектакль иалахәуп еицырдыруа актиорцәа реиҧш, Аҧсуа ҳәынҭқарратә унивирситет актиортә факультет аушьҭымҭацәеи астудентцәеи.

 

Ан-Аҧсадгьыл дыхәмаруеит Аҧсны еицырдыруа артистка Заира Ермолова, Али-беи Леонид Хышба. Аспектакль иалахәуп иара убас Аҧсни Нхыҵ Уаҧстәылеи жәлар рартист Нурбеи Кмкиа, Ҟабарда-Балкариа зҽаҧсазтәыз артист Адгәр Џьениа, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артистцәа Сергеи Габниеи, Шьалуа Гыцбеи, Аҧсуа театр еицырдыруа актиорцәа Сырбеи Сангәлиа,  Ҭемраз Чамагәуа, Адгәр Малиа, Виачеслав Арӡынба, Даур Арухаӡе, Алхас Шамба.

 

Абиҧара қәыҧш рҟынтә аспектакль аҟны ихәмаруеит Фатима Аӡынба, Гәнда Ажьиба, Аслан Еныкь, Ашьна Ҳагба, Саид Кокосқьериа, Геннадии Ҭарба, Даур Бебиа.

 

29.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Жьҭаара 23 рзы имҩаҧысуеит апартиа „Иакыу Аҧсны“ а-3-тәи асиезд

 

Жьҭаара 23 рзы имҩаҧысуеит апартиа „Иакыу Аҧсны“  а-3-тәи асиезд.

 

Асиезд аусура иалагоит 12,00 сааҭ рзы Аҳәынҭқарратә аурыстә драматә театр ахыбраҟны.

 

Асиезд аҟны ажәахә ала дықәгылоит апартиа „Иакыу Аҧсны“ ахантәаҩы Даур Ҭарба.

 

23.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Арадио „Орфеи“ аконцерттә студиаҟны ианҵоуп „Геликон-опера“ асолистка Алиса Гыцба лсолотә концерт

 

Москва, 15-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль „Арадио „Орфеи“ ишәыднагалоит+“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, арадио аконцерттә студиа ду аҟны имҩаҧысит „Геликон-опера“ асолистка, Аҧсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артистка Алиса Гыцба лсолотә концерт аҭаҩра.

 

Ашәаҳәаҩ иналыгӡеит аурыси аҳәаанырцәтәии композиторцәа раҧҵамҭақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны: Игор Стравинскии, Бенджамин Бриттена, Морис Равель, Мануель де Фальи, Франсис Пуленка. Арҭ аҧҵамҭақәа рынагӡара уадаҩуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

 

Аконцерт иалахәын Аҧсыҧтә ансамбль,Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Марк Пекарскии инапхгарала.

 

Аконцерт уаҩы иаҳарц илшоит арадио „Орфеи“ 99,9 FM ацәқәырҧаҿы, жьҭаара 24, 20.00 сааҭ рзы.

 

Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Урыстәыла Афедерациаҿ иҟоу Ареспублика Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура аҟынтә.

 

23.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаҧысуеит 35 алхырҭатә ҭыҧ хадақәа рыҟны

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаҧысуеит 35 алхырҭатә ҭыҧ хадақәа рыҟны (186 алхырҭаҭыҧқәа рыҟны). Еиҭа алхырҭаҭыҧқәа аҧҵахоит Аҧсны анҭыҵ – Москвеи Черкесски . Абри атәы иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа.

 

„Алхырҭатә ҭыҧқәеи алхырҭатә ҭыҧхадақәа ркомиссиақәеи аҧҵан 2007 шықәса рзы, аха ари аамҭа иалагӡаны урҭ рҟынтә иаҧыхыу ыҟоуп, хәҭакахьала архәҭақәа рыҟны, убри азын 189 рҟынтә иааныжьуп 186“, - ишьақәирҕәҕәеит Табаҕәуа.

 

23.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Баҭал Табаҕәуа агәаанагара имоуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы алхыҩцәа рхыҧхьаӡара 129,3 нызқьҩыуаак иреиҳахаӡом ҳәа

 

Баҭал Табаҕәуа агәаанагара имоуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы алхыҩцәа рхыҧхьаӡара 129,3 нызқьҩыуаак иреиҳахаӡом ҳәа (ари 2007 ш.рзтәи апарламенттә алхрақәа раан абжьыҭираз асиа ианыз алхыҩцәа рхыҧхьаӡароуп – АП).

 

Ареспублика Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Апаспорттә-визатә маҵзура адырраҭарақәа рыла, 141 нызқь паспорт Аҧсны ауааҧсыра рнапаҟны ирыҭоуп. Табаҕәуа излашьақәирҕәҕәаз ала, арҭ амшқәа рзы ргәаҭара иаҿуп, 18 шықәса зхымҵыц, мамзаргьы алхрақәа рымш аҽны 18 зхыҵраны иҟоу рсиа.

 

„Ҳара макьаназ ишьақәырҕәҕәоу аинформациа ҳамам, апаспортқәа знапаҟны изоухьоу, аха Аҧсны иҭаҩым рзы. Ари аинформациа шьақәырҕәҕәахоит“, - иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа.

 

23.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны макьаназ иалагалахаӡом абжьыҭираз аелектронтә система

 

Уажәтәи Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы иазҧхьагәаҭам абжьыҭираз аелектронтә система аиҿкаара, ҳәа ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаҕәуа.

 

Абжьыҭираз, ари аҩыза аформа иаҭахыуп алхрақәа рзы азакәан аҧсахреи атехникатә зыҟаҵара ҕәҕәеи,иазиҧхьаӡоит Баҭал Табаҕәуа.

 

„Сара зынӡаскгьы исҳәарц сҭахӡам, Аҧсны ари аҩыза аформа алагалара залшом ҳәа, уи азын ҳара иҳамоуп аспециалистцәеи, аинтернет-ресурсқәеи. Макьаназ, ари азҵаара амшхәаҧштә аҟны иқәгылам. Ҳара, ҳәара аҭахыума иҭаҳҵааит аелектротә бжьыҭира ахьалагалоу еиуеиҧшым атәылақәа рҧышәа, сгәы иаанагоит ари аформа аҧхьаҟа азын ахархәара аиуп ҳәа“, - иҳәеит уи.

 

23.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Москва Аҧсны ацхыраара ҟанаҵоит

 

Аҧсны афымцамчы аусзуҩцәеи, аиқәырхаҩцәеи, аҳақьымцәеи аматериалтә цхыраара рзыҟаҵаразы аӡбара рыдыркылеит Москва.

 

Урыстәыла аҳҭны-қалақь ахада Иурии Лужков адҵа инапы аҵаиҩит, амашәыр-еиқәырхаратә автомашьына „Газельи“, амашәыр-еиқәырхаратә мыругақәеи, амца-арцәаратә техникатә еиқәыршәагақәеи, атрансформатарқәеи, арлашагатә  еиқәыршәагақәеи, еиуеиҧшым акабельқәеи, 20 компиутери, апроектори, апринтери, ацхыраара ласы амашьынеи, алабараториатә еиқәыршәагақәеи, амедицина-ныхтә материалқәеи Аҧсныҟа хәыда-ҧсада раашьҭразы.

 

Москватәи аиқәырхаҩцәа иаашьҭыу амыругақәа аус рыдулашьа ддырҵоит Аҧснытәи рколлегацәа, Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аусзуҩцәа Москва Урыстәылатәи рколлегацәа рҟны иахысуеит аттестациа.

 

Агәҳалалратә еидара Аҧсныҟа аагареи арҵареи рзы ахарџьқәа 1,2 миллион мааҭ Москва анапхгара рхахьы иргеит.

 

23.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩи Москва ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩи рнапы аҵарҩит абаҩрҵәыреи аспорти русхкқәа рҟны аусеицуразы Амеморандум

 

Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Л.Лакербаиеи Москва ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ С.Баидакови рнапы аҵарҩит абаҩрҵәыреи аспорти русхкқәа рҟны аусеицуразы Амеморандум.

 

Анапаҵаҩра ацеремониа иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аҿари аспорти русхкқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Рафаель Амҧар, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.

 

Москва ақалақь ахада ихаҭыҧуҩ Сергеи Баидаков зхадараҿы дыҟаз аделегациа аилазаараҿы иҟан: аспорти абаҩрҵәыеи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Степанианц, уи актәи ихаҭыҧуаҩ Иурии Нагорных, жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи еимадарақәа рзы адепартамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Андреи Чижов, Ихьыҧшым атәылақәа реимабзиара атәылақәеи Балтиеи реимадарақәа рзы аусбарҭа аспециалист хада Владимир Гринко уҳәа убас егьырҭгьы.

 

„Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа уадаҩқәа раангьы Москва Аҧсны аганахьала
Адгылара ҕәҕәа ҟанаҵон. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Москва ақалақь ахада Иурии Лужков Аҧсны ашҟа имоу азыҟазаашьа“, - иҳәеит Москва аиҳабыра рделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо,Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Иурии Лужков дшыруаӡәкыу  Урыстәыла анапхгара рахь Аҧсны аекономикатә санкциа аҧыхреи, иара убас ареспублика ахьыҧшымра азхаҵареи рзы аҳәара ҟазҵаз.

 

Абаҩрҵәыреи аспорти русхк азы  Амемеорандум анапаҵаҩра дазааҭгыло, Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит, „Аҧсны шазҿлымҳау аспорти абаҩрҵәыреи рыҿиара“.

 

„Иахьа ҳара рыргылара ҳаҿуып аспортплошьадкақәа, еиҭашьақәҳаргылоит атеннисасырҭақәа, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәа, иара убас арҽеиратә усурақәа мҩаҧаҳгоит ашколтә спорттә залқәа рыҟны. Ҳара , жәаҳәарада уи аус ацҵара ҳагәҭакыуп. Ҳара ҳазҿлымҳауп шәара шәҧышәа ду шәыҿҵаара“, - иҳәеит Багаҧшь.

 

Москва ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Сергеи Баидаков Москва ақалақь ахада Иурии Лужков ихьӡала Аҧсны анапхгареи ажәлари салам риҭеит. „Ари еиҩызаратә визитуп! Иахьа ҳара, аспорттә ныҳәа ду „Москватәи аспорт Аҧсны“ ҳалахәуп. Агәыҕра ҳамоуп, ҳагьазҿлымҳауп, иахьатәи амш аҧхьаҟатәи ҳусеицура иауасхырхап ҳәа“, - иҳәеит Баидаков.

 

19.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 2006 ш. жьырныҳәа мза инаркны 2009 ш. жьҭаара 12 –нӡа Ареспублика Аҧсны атәылауаҩра апаспорҭқәа 141,245 инарзынаҧшуа ауааҧсыра ирыҭоуп

 

2006 ш. жьырныҳәа мза инаркны 2009 ш. жьҭаара 12 –нӡа Ареспублика Аҧсны атәылауаҩра апаспорҭқәа 141 245 инарзынаҧшуа ауааҧсыра ирыҭоуп, - ҳәа „Аҧсныпресс“ ахь адырра ҟаиҵеит Ареспублика Аҧсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Апаспорттә-визатә маҵзура аиҳабы Валерии Малиа.

 

Малиа иажәақәа рыла, Гал араион аҟны ирыҭоуп 3 522 паспорт. „Аха, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идҵала, жьҭаарамза 1 инаркны араион ауааҧсыра аҧсуа паспортқәа рыҭара аанкылоуп“, - ишьақәирҕәҕәеит Малиа.

 

Ареспублика, егьырҭ араионқәа рҿы акәзар, уаҟа апаспортқәа рыҭара апроцесс еиҧҟьара имҩаҧысуеит. Ес-ҽны ҿыц ирыҭоу апаспортқәа рхыҧхьаӡара азы аинформациа аиуеит Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Апаспорттә-визатә маҵзура аҟәша хада“, - иҳәеит Малиа.

 

16.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иҧсҭазаара далҵит еицырдыруа аҧсуа скульптор Иурии Ҷкадуа

 

Москва, 71 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит, еицырдыруа аҧсуа скульптор Иурии Ҷкадуа.

 

Ҷкадуа  - дравторуп  аусумҭақәа акыр, урҭ рыбжьара иаарылукаартә иҟоуп Бзыҧ аҳаблаҟны иқәыргылоу , 1941-45 шш. рызтзи Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахаз ргәаларшәаразы иқәыргылоу иџьабоу ан лбаҟа.

 

Аскульптор иара убас 1992 шықәсазтәи Лаҭатәи атрагедиаҟны иҭахаз Рмемориали, Гудоуҭа ақалақь аҟны иқәыргылоу Н.Лакоба ибаҟеи аҧҵаҩцәа дреиуоуп.

 

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Иурии Ҷкадуа аус адиулон аҧсуа поезиа аклассик Иуа Коҕониа ибаҟа ҿыц.

 

15.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Жьҭаара 19 рзы Аҟәа имҩаҧысуеит еицеилахәу аспорттә ныҳәа „Москватәи аспорт Аҧсны“

 

Жьҭаара 19 рзы Аҟәа имҩаҧысуеит еицеилахәу аспорттә ныҳәа „Москватәи аспорт Аҧсны“. Ихадоу аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҟны.

 

Аҧсни Москвеи реиҳабырақәа рымчала еиҿкаау аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит аиҩызаратә ашьапылампылтә еиҧыларақәеи, аицлабрақәеи, аӡиудои, асамбои, ашахмати, асумои уҳәа убас егьырҭ аспорт хкқәа рзы амастер-классқәеи ақәгыларақәеи.

 

Иара убас иарбоуп Аҧсны асахьаркыратә коллективқәеи, Урыстәыла Афедерациа жәлар рартистка Надежда Бабкинеи, ансамбль „Русская песня“, агәыҧ „Блестящие“, ади-джеи Груфи рықәгыларақәа.

 

Жьҭаарамза 19 рзы имҩаҧысуеит Аҧсни Москвеи рыбжьара аспорт усхк аҿы аусеицуразы Амеморандум анапаҵаҩра.

 

15.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада дидикылеит ақәыҧшцәа рыбжьара абокс азы Европа ачемпион Аинар Сангәлиа

 

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь дидикылеит, Урыстәылатәи акоманда аилазаараҟны иқәгылаз, ақәыҧшцәа рыбжьара абокс азы Европа ачемпион Аинар Сангәлиа.

 

Анапа ақалақь аҟны имҩаҧысуаз аицлабрақәа рыҟны аиааира згаз дымҩаҧыргон аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Рафаель Амҧар, ачемпион иазыҟаҵаҩ, абокс азы Аҧсны зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза Едуард Арсҭаа, Аҧсны абокс Афедерациа Апрезидент, Аҧсни Урыстәылеи  рыҟны зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ Роман Чирикбаиа.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Европа ачемпион дидкыло изеиҕьеишьеит иаҧхьаҟа иҵегьы ақәҿиара дуқәа. „Ари зеиҕьыҟам традициахеит – иҳәеит Сергеи Багаҧшь, - ҳаспортсменцәа қәыҧшцәа аиааира дуқәа аарҧуа ҩ-ҳәынҭқаррак Аҧсни Урыстәылеи рыхьӡ-рыҧша ҭыргоит. Ҳара ҳшәзыгәдууп шәара,“ - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аиҧылараҟны, иара убас иалацәажәеит Аҧсны аспорт аҿиара аперспективақәа. Аиҧылара алахәцәа агәахәара шырнаҭоз азгәарҭеит, ареспублика аҳҭны-қалақь аҟны иакымкәа ашьапылампыл асырҭа адәқәа ахьаатыз, иара убас Аҧсны егьырҭ ақалақьқәа рыҟны аспорттә хыбрақәа рыҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаҧысуа.

 

Аҳәынҭқарра Ахада ишазгәеиҭаз ала, ари аусура активла иацҵахоит. Абокс азы Афедерациа ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит абокс азы иҷыдоу азыҟаҵаразы аплошьадкақәа раартразы.

 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит, ари азҵаара аӡбаразы аперспективақәа шыҟоу.

 

Абри азы адырра ҟарҵеит Аиҳабыра риформациатә Усбарҭа аҟны.

 

14.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аахыҵ Уаҧстәыла атәылахьчара аминистр Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада арратә академиа азыӡрыҩцәеи аофицерцәеи алекциақәа дырзаҧхьеит

 

Аахыҵ Уаҧстәыла атәылахьчара аминистр аинрал – леитенент Иурии Тананев Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада арратә академиа азыӡрыҩцәеи аофицерцәеи „Аибашьрақәа зхылҿиаауа амзызқәа ранализ“ атемала алекциақәа дырзаҧхьеит.

 

Ақырҭуа еибашьцәа Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧыргаз бџьаршьҭыхлатәи ақәлара ҿырҧшыс иааганы, атәылахьчара аусбарҭа ахада иазгәеиҭеит, иарбанзаалак аҳәынҭқарра аибашьра ахы зкуа, ианакәзаалак ишахьырхәхо. Ареспублика Аҧсны Арбџьармчқәа рштаб Хада академиа азыӡрыҩцәеи аофицерцәеи зҿлымҳара дула ирзыӡыҩуан Аахыҵ Уаҧстәыла атәылахьчара аминистр илекциақәа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҧсуа телехәаҧшра.

 

14.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Ацентртә алхратә комиссиа ашәҟәы иҭанагалеит аҧшьгаратә гәыҧ Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы кандидатс Виталии Бганба иқәыргыларазы

 

Ацентртә алхратә комиссиа ашәҟәы иҭанагалеит аҧшьгаратә гәыҧ Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы кандидатс Виталии Решь-иҧа Бганба иқәыргыларазы, иара убас ашәҟәы иҭагплоуп Ареспубликатә политикатә партиа „Иакыу Аҧсны“. Абри азы адырра ҟарҵеит Ацентртә алхратә комиссиа аҟнынтә.

 

Виталии Бганба диит 1955 шықәса рзы, афилософиатәи аекономикатәи ҵарадыррақәа дрдокторуп, Урыстәыла иҭыжьу арҵагатә шәҟәы „Асоциалтә екологиа“ авторс дамоуп. Иазгәаҭатәуп, ареспубликатәи аполитикатәи партиақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәа рықәыргыларазы Ацентртә алхратә комиссиаҟны ашәҟәы рҽанырҵар шакәу.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәа рықәыргылара жьҭаарамза 13 рзы ихацыркын, ихыркәшахоит абҵара 2 рзы.

 

14.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аахыҵ Уаҧстәыла атәылахьчара аминистр Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада арратә академиа азыӡрыҩцәеи аофицерцәеи алекциақәа дырзаҧхьеит

 

Аахыҵ Уаҧстәыла атәылахьчара аминистр аинрал – леитенент Иурии Тананев Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада арратә академиа азыӡрыҩцәеи аофицерцәеи „Аибашьрақәа зхылҿиаауа амзызқәа ранализ“ атемала алекциақәа дырзаҧхьеит.

 

Ақырҭуа еибашьцәа Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧыргаз бџьаршьҭыхлатәи ақәлара ҿырҧшыс иааганы, атәылахьчара аусбарҭа ахада иазгәеиҭеит, иарбанзаалак аҳәынҭқарра аибашьра ахы зкуа, ианакәзаалак ишахьырхәхо. Ареспублика Аҧсны Арбџьармчқәа рштаб Хада академиа азыӡрыҩцәеи аофицерцәеи зҿлымҳара дула ирзыӡыҩуан Аахыҵ Уаҧстәыла атәылахьчара аминистр илекциақәа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҧсуа телехәаҧшра.

 

14.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Женеватәи ацәажәарақәа разыҟаҵара азҵаатәқәа

 

Кавказ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Женеватәи аицәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳазныу ашықәс  абҵара 11 рзы иарбоу изаамҭанытәу аиҧылара иазааҭгылан  жьҭаара13 рзы Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҟны имҩаҧысуаз аиҧылараҟны – уи иалахәын Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Г.Карасин, Женеватәи ацәажәарақәа рыцхантәаҩ П.Морель, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭаорнак ҷыда И.Вербеке, ОБСЕ ахантәаҩы ихаҭарнак ҷыда Х.Христопулос.

 

Аҩ-ганкгьы гәҭакыс ишрымаз аадырҧшит, Женеватәи аиҧыларақәа рымшхәаҧштә хада Кавказ агәманитартә ҭагылазаашьеи ашәарҭадареи рызҵаатәқәа еицеилахәны аус рыдулара ацҵара.

 

Иара убас ирылацәажәеит ақырҭуа-аҧсуеи ақырҭуа-ауаҧси ҳәаақәа рраионқәа рыҟны аҭагылазаашьа.

 

14.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Арратә маҵзурахьы анаҧхьаразы Атәылахьчара аминистр идҵа

 

2009 шықәса, жьҭаарамза 1 инаркны ҧхынҷкәынмза 31 – нӡа арратә маҵзурахьы инаҧхьахоит  Ареспублика Аҧсны азакәан инақәыршәаны,18 шықәса инаркны 27 шықәсанӡа зхыҵуа, арратә маҵзура зықәра аҵанакуа 450-ҩыуаак инархзынаҧшуа.

 

Адҵа ҭыжьуп Ареспублика Аҧсны Азакәанқәа „Азеиҧш арратә ҭакҧхықәреи арратә маҵзуреи“, „Атәылахьчареи“, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада цәыббра 28 рзтәи Иусҧҟа „Ареспублика Аҧсны ауааҧсыра арра маҵзурахьы рнаҧхьареи, иара убас арра маҵзура иахысыз рхы рақәиҭтәрази инарықәыршәаны.

 

Уи анаҩсангьы, жьҭаара  1 инаркны ҧхынҷкәнымза 31 – нӡа арра маҵзурахьы инаҧхьахоит Ареспублика Аҧсны ауааҧсыра 35 шықәса рҟынӡа зхыҵхьоу, 18 шықәса инаркны 27 шықәсанӡа арра маҵзура зхызымгаз, мзызқәак ирыхҟьаны ареспублика анҭыҵ иҟаз.

 

Атәылахьчара аминистр идҵаҟаҵарала, арра маҵзура аҟынтә рхы иақәиҭтәызаауеит асолдаҭцәеи, аматросцәеи, асержантцәеи, асҭаршынцәеи зырратә маҵзура аҿҳәара нҵәаз.

 

13.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Алхрақәа 2009: Абжьыҭиразы иакыу адокәмент азы арҽеирақәа

 

Алхыҩцәа Рлига „Ҧсыцқьала алхрақәа“ хадара злоу уснагӡатәны иаҧхьаӡоит Ареспублика Аҧсны апарламент алхрақәа рзы азакәанҧҵара иаланагалаз арҽеирақәа. „Араҟа ихадароу рҽеироуп – абжьыҭиразы иакыу адокәмент ашьақәырҕәҕәара“, - иҳәеит Алхас Тхагәшев. „Аҵак ҷыда аҭатәуп, иара убас адепутатцәа зегьы еицҿакны ас еиҧш арҽеирақәа адгылара ахьрырҭаз; иакыу адокәмент – Ареспублика Аҧсны атәылауаҩра ашәҟәы ала абжьыҭира, адырга ҷыда ақәыргылара, ареспублика анҭыц абжьыҭиразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа, иара убас ауаажәларратә наҧшра; - лҳәеит Асида Шьаҟрыл.- Зегьы еилыркаауеит, ас еиҧш иҟоу арҽеирақәа шаҟа анырра бзиа ҟарҵо алхратә процесс алахәцәа рзы“.

 

Алхас Тхагәшев ажәалагала ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рышьҭахь еиҭазхьаҳәырц алхратә закәанҧҵара аиҭакрақәа алагалара азҵаара. „Ҳара иҳамоуп „Апартиақәа“ рзы азакәан, уи адкылара дҵаҟаҵараны иқәнаргылоит алхратә закәанҧҵараҿы аҧсахрақәа ралагалара. Анаҩстәи, апарламенттә алхрақәа раан, алхратә система иалагалатәуп аиҭакрақәа“, - иҳәеит уи. Иара иажәақәа рыла, азакәанҧҵараҿы еилфаҷа иарбатәуп еиуеиҧшым аинформациатә харәагақәа рыҟны алхрақәа ркьыҧхьра, еиқәыршәатәуп акандидатцза зегьы рзы аҳәынҭқарратә кьыҧхь аҟны еиҟароу азин. Иара убас аҵак ҷыда аҭатәуп алхратә штабқәа ирзоужьу афинансқәа хылаҧшра рыҭара, Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатцәа аҧсуа бызшәазы аҧышәара дырҭира уҳәа убас егьырҭгьы.

 

12.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәыла ганрацәала ацхыраара ҟанаҵалоит Аҧсны ихадароу адәныҟаполитикатә уснагӡатәқәа рыӡбараҟны

 

Урыстәыла ганрацәала ацхыраара ҟанаҵалоит Аҧсны ихадароу адәныҟаполитикатә уснагӡатәқәа рыӡбараҟны,- агәларатә ҳәынҭқаррақәа рҿы аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалараҿи, иара убас Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала иазхазҵо аҳәынҭқаррақәа рхыҧхьаӡара аизырҳараҿи. Урыстәлеи Аҧсни реидгыла ашәарҭадара азҵаараҟны – ахырхарҭа хадақәа ируакыуп“, - абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ихьыҧшым атәылақәа Реимабзиара атәылақәа Аҧшьбатәи рдепартамент адиреқтор Андреи Келин Аҧсуа усуҩтә форум аҟны дықәгылауа.

 

Урыстәылатәи адипломат иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала, аҧсуа делегациа латиноамерикатәи атәылақәа рахь рныҟәарақәа иҵоуроу рылҵшәа.

 

Аҧсни Никарагәуеи рнапы аҵарҩит еицеилахәу аҳәамҭа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы. Иалыршоуп, иара убас аиқәшаҳаҭра, Аҧсни Венесуелеи рыбжьара иаарласны ацҳаражәҳәарҭақәа раҧҵаразы. „Убри инамаданы, ҳара иаабоит, жәпакы атәылақәа Аҧсны ахьыҧшымра – наунагӡа ишаанхо агра зго, иагьазхазҵо. Арҭ реиҧш атәылақәа ыҟоуп Латинтәи Америка, Африка, иаҳзааигәоу агәларатә ҳәынҭқаррақәа рыҟны“, - иазгәеиҭеит Келин.

 

Адипломат иазгәеиҭеит, атәылақәа жәпакы шазҿлымҳау Аҧсны аполитикатәи, ахәҳахәҭра-економикатәи, акәльтуратәи уҳәа еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. „Ҳара ҳгәы амырҭынчуазароуп аҧсуа – қырҭуа ҳәаақәа ирыҧну араионқәа рыҟны акраамҭатәи аҿымҭра, хәҭакахьала, Евроеидгыла анаҧшцәа рҳәамҭақәа рыла“, - иҳәеит Келин.

 

Уи иазгәеиҭеит, ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҟны аҭагылазаашьа еибархханы ишаанхо, избанзар Қырҭтәыла анапхгара мап шацәырымкуа еиҭах ашьакаҭәара. „Иҳәатәуп, уи ишацхраауа аҳәаанырцәтәи ҳәынҭқаррақәакгьы“, - иазгәеиҭеит уи.

 

„Урыстәылатәи аҕбақәа амшын аганахьала атәыла ахьчара еиқәдыршәоит. Уажәшьҭа ихадароуп амшын ҳәаақәа рыҟны иааиҧмырҟьаӡакәа ахьчара аиҿкаара“, - иҳәеит Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адепартамент ахада.

 

09.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа анапы рыҵаҩуп ҩ-ганктәи аҧсуа-аурыс усеицуразы жәпакы ашәыҟәқәа

 

Аҧсуа усуҩтә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа Аҟәа, анапы рыҵаҩын ҩ-ганктәи аҧсуа-аурыс усеицуразы жәпакы ашәыҟәқәа.

 

Аҧсны аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Андреи Слепниови рнапы аҵарҩит „Наҟ-ааҟ ахәҳахәҭратә хаҭарнакрақәа раҧҵареи“, „Аинвестициақәа рыхьчареи ралкаареи“ рзы аиқәшаҳаҭра.

 

Аҧсны атуризми акәрортқәеи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭенгиз Лакербаиеи Урыстәыла Афедерациа атуризми Афедералтә агентреи рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Геннадии Пилипенкои рнапы аҵарҩит „2010 шықәсазтәи еицеилахәу аусуҩтә программа“.

 

„Апартниорразы апрограмма“ рнапы аҵарҩит Аҧсны Аҳәынҭқарратә Унивирситет ареқтор Алеко Гәарамиеи аекономикеи афинансқәеи Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә унивирситет аректор Игор Максимцеви.

 

Аҳәынҭеилакы „Аҧсныеимадара“ адиреқтор хада Едуард Ҧлиеи „Урыстәылатәи апочта“ анапхгаҩы Алеқсандр Кисилиови рнапы аҵарҩит агәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа. Иашьашәалоу ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьаниеи асоциалтә программақәа рыцхырааразы Амилаҭтә фонд анапхгараҭара анапхгаҩы Андреи Сергееви.

 

09.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иазгәарҭеит Ареспублика Арбџьар Мчқәа аҧҵоижьҭеи 17 шықәсхыҵра

 

Аруаа , зхадараҿы дыҟаз Аҧсны атәылахьчара аминистр М.Кьышьмариа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-93 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахаз аибашьцәа Рбаҟа аҿаҧхьа.

 

1992ш, жьҭаарамза 11 рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит атәылахьчара аминистрреи Арратә штаб Хадеи раҧҵаразы Аусҧҟа. Ари арыцхә официалла иҧхьаӡоуп Ареспублика Арбџьар Мчқәа раҧҵара иамшы – Аҧсуа Ар рира иамшны.

 

Ареспублика Аҧсны Арбџьар Мчқәа аҧҵоижьҭеи 17 шықәса аҵра иазкыз агәырҕьаратә еилатәара иалахәын А    ҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, Аҧсуа епархиа анапхгаҩы аб Виссарион Аҧлиа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәцәа.

 

Ареспублика Аҧсны Арбџьар Мчқәа Иреиҳаӡоу рырратә командаҟаҵаҩ хада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь аруаа ирыдиныҳәалеит Ареспублика Арбџьар Мчқәа рымш. Арбџьар Мчқәа изнысыз рҭоурыхтә мҩеи иахьатәи рҭагылазаашьеи рзы ажәахә ала дықәгылеит атәылахьчара аминистр М.Кьышьмариа. Аҧсуа ар рымшныҳәа рыдиныҳәалеит, иара убас Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа 7-тәи арратә база акомандаҟаҵаҩ Валерии Чеботариов.

 

Анаҩс имҩаҧган аныҳәатә концерт.

 

09.10.2009  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада