AҦCУAA  PЫБЖbbI

                                     -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт



 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь адышшыларатә шәҟәы лзишьҭит Аргентина Апрезидент

 

Аҧсны жәлари Ареспублика анапхгареи рыхьӡала, хаҭала Шәҭаацәеи шәареи, Аргентина жәлар зегьи  гәалсра дула сшәыдышшылоит Шәыҧшәма, Аргентина ҧасатәи  Апрезидент Нестор Карлос Кирхьнер Остоич иҧсҭазаада дахьалҵыз инамаданы.

 

Нестор Кирхьнер иҧсҭазаара зегьы азикит изгәакьаз Аргентина хьаҳәа- ҧаҳәада амаҵ азура. Аргентина иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзураҿы иҟазаараан имҩаҧигоз аполитика иабзоураны, ижәлар рыбзиабареи раҳаҭыри даҧсахеит. Уи иҽазышәарақәа ирыбзоураны Аргентинатәи Ареспублика акризистә ҭагылазаашьа иалган. Уи иахьа иҭышәынтәаланы иҿиоит.

 

Аҳкәажә Кирхьнер, Шәҭаацәеи, Аргентинеи рзы арҭ иуадаҩу аамҭақәа рзы Аҧсны жәлар ишәыцеиҩыршоит шәгәрҩа, аринахыс Шәтәыла иазеиҕьаршьоит аҭынчра.

 

29.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гагра имҩаҧысит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәыла Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри реиҧылара

 

Иахьа Аҧсны дааит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рашид Нургалиев. Гагра имҩаҧысит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьбеи, Урыстәыла Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рашид Нургалиеви реиҧылара. Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны аҳәынҭқарра  Ахада Сергеи Багаҧшь Аҧсны официалтә визитла аҭааразы ааҧхьара ахьииҭаз.

 

Анаҩс имҩаҧысит Урыстәыла Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Краснодартәи атәылаҿацә аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Хадеи, Шәача аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭеи, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рыҟәшақәа рнапхгаҩцәа злахәыз инарҭбаау аиҧылара. Аусусҩтә еиҧылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рминистррақәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла русеицура. Инақәырҕәҕәан иазгәарҭон изакәанымкәа иҭагалоу автотранспорттә хархәагақәа раарҧшраҿы аицхыраара.

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рашид Нургалиеви ҷыдала инаҵшьны иазгәарҭон аганқәа ирымоу аоперативтә дырранҵақәа рбаза асистемаҟны аицхыраара аусура активтәразы. Аиҧылараҟны ишазгәаҭаз еиҧш, ари аусхк аҟны аусеицура ацхыраара ҟанаҵоит егьырҭ ацәгьоура хкқәа раарҧшра аҟынгьы.

 

28.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада
 

 Аҧсны Апарламент иаднакылеит “Ареспублика Ахылаҧшратә палатазы Азакәан”

 

Жәлар Реизара, Ареспублика Аҧсны Апарламент иадакылеит “Ахылаҧшратә Палатазы” Азакәан.
 

Азакәан иазҧхьагәанаҭоит- ихьыҧшым, аҳәынҭқарратә малқәа рхархәашьа ахылаҧшра зылшаша Ареспублика Ахылаҧшратә палата аҧҵара .
 

“Иара убас Ахылаҧшратә палата ацклаҧшлоит аҳәынҭқарратә хатә мал ахархәашьа хырҳара ахьынӡамои, априватизациа зызуу аҳәынҭқарратә хыбрақәа  рҟынтә иаланагало ахархәагақәа рхархәашьеи”, - ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны Жәлар Реизара Ахада Нугзар Ашәба иинтервиу аҟны.
 

Уи анаҩсан, Ахылаҧшратә Палата анапаҵаҟа иҟалоит абиуџьет иалам афондқәеи аныхтәқәеи рхылаҧшра.
 

Апарламент Ахада иажәақәа рыла, 2011 шықәса рзы иазҧхьагәаҭоуп, Ахылаҧшратә Палата аныҟәгаразы Аҧсны абиуџьет ахархәагақәа рахыҧхьаӡалара. Ашықәс ҿыц инаркны ари аиҿкаара ашьақәыргылара нап аркхоит. Уи шьақәгылазаауеит анапхгаҩыки хҩык ихаҭыҧуаа – аудиторцәеи, аинспекторцәеи рыла.
 

Азакәан инақәыршәаны, анапхгаҩы икандидатура ахәаҧшразы Аҧсны Жәлар Реизарахь инаишьҭуеит аҧсны аҳәынҭқарра Ахада.

 

27.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Имҩаҧысит Аҧсни, УА шәарҭадаратә маҵзуреи, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи рнапхгара злахәыз аилацәажәара

 

Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны анапхгареи амчратә структурақәеи, Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи злахәыз аилацәажәара.
 

Аилацәажәара аартуа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь иазгәеиҭеит, араҟа ицәыргоу атемеи, уи азы иҟаҵахо аӡбареи шхадаратәу, избанзар “иарбан ҳәынҭқарразаалак аҿиареи, уи ахьыҧшымреи, ауааҧсыра рҭынч ҧсҭазаара ахьчареи, зегь раҧхьа иргыланы иахьыҧшыуп, аҳәынҭҳәаа аҟны аҭагылазаашьеи, аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьеи”.
 

Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, аҟәарахьчара Адепартамент анапхгаҩы Виктор Труфанов иара убасгьы иазгәеиҭеит иахьатәи аусмҩаҧгатә аҵак ҷыда, “Аҧсни Урыстәылеи рыжәларқәа аҭынч жәҩан аҵаҟа инхаларацы, иҟоу ашәарақәеи ааҧхьарақәеи раҧырҟәҟәаара хырхарҭас ишамоу”.
 

Труфанов Аҧсны анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа иазыҟарҵо ацхырааразы. “Ас еиҧш адгылареи ацхыраареи рыда, иахьа Аҧсны атәылауаа рҭынчра еиқәзыршәо аҳәынҭҳәаа ҕәҕәала изыхьчо аструктура ҟамларгьы ауан, - иҳзәеит уи. – Иҟаҵоуп аус ду, иаҧҵахоит аинфраструктура, ҳҿаҧхьа иқәгылоу ахыдҵақәа қәҿиарала изыӡбаша. Ҳҿаҧхьа иқәгылоу ҳуснагӡатәқәа рынагӡаразы ҳамчқәа еилаҳҵароуп”.

 

22.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Гал иҟоу адәаҿтәи агоспиталь аҳақьымцәа 350-ҩыуаак рҟынӡа ачымазцәа рыдыркылахьеит

 

Жьҭаарамза 16 рзы Аҧсны ихацыркыз Аусбарҭабжьаратә агәҳалалратә акциа “Аицхыраара. Аусеицура. Ашәарҭадара” иалахәуп Урыстәыла аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура, адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ақыҭанхамҩа аминистрра, акәльтура аминистрра, Урыстәыла Афедерациа аимадареи амассатә коммуникациақәеи рминистрра, афинансқәа рминистрра, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, иара убас Москва ақалақь аиҳабыра.
 

Аусбарҭабжьаратә агәҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаауп аусмҩаҧгатәқәа рацәаны. Урҭ рҟынтә ихадаратәуп, аҳәаа иаҧну Гали Гәылрыҧшьи рраионқәа рыҟны инхо ауааҧсыра зыҩаӡара ҳаракыу амедицинатә цхыраара рыҭара. Ари агәҳалалратә акциа иалахәуп амашәыр бааҧсқәа Урыстәылазегьтәи рмедицинатә центр “Защита” адәаҿтәи агоспиталь аҳақьымцәеи, Урыстәыла Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура арратә клиникатә госпиталь Хада аҳақьымцәа ргәыҧ алархәны.
 

Амедицина аусзуҩцәа рхықәкы хада акәны иҟоуп, амедицинатә абжьагаратә цхыраарақәа рыҟаҵареи, еиҳа ацхыраара зҭатәу ауааҧсыра иҷыдоу азылҩаақәа рзыҟаҵареи. Иара убас арахь иаагоуп агәҳалалратә цхыраара аҳасабала х-тоннак инарзынаҧшуа ахәшәқәа.
 

Гал араион аҟны аус зуа аспециалистцәеи, иара убас Гәылрыҧшь араион Ажара ақыҭан адәаҿтәи агоспитали, жьҭаара 18 рзы нап адыркит ауааҧсыра рыдкылара. Ас еиҧш акциа амҩаҧгара иазҿлымҳахеит аҭыҧантәи ауааҧсыра. Раҧхьатәи амш азы аҳақьымцәа ирыдыркылахьан 350-ҩыуаак ачымазцәа., имҩаҧгоуп иара убас ахирургиатә ҧҟаракгьы.
 

Агоспиталь иаднакыларц алшоит иара убас агәларатәи араионқәа руааҧсырагьы.
 

Амедицина аусзуҩцәа дара рхаҭақәа ишырҳәо еиҧш, аҭыҧантәи ауааҧсыра амедицинатә хәаҧшра рахыжьра хықәкыс измоу, 10 – мыш ирылагӡаны имҩаҧысуа аусура ареспублика араионқәа рыҟны,  даара ихадароуп, аҭагылазаашьа ҟалоит ауааҧсыра зыҩаӡара ҳаракыу амедицинатә цхыраара рыҭара анаҩсгьы, Аҧсны аҳәаа иаҧну араионқәа рыҟны инхо ачымазцәа ашәҟәы рҭагалара аиҿкааразы аҭыҧантәи амедицина аусзуҩцәа ацхыраара рыҭара.

 

19.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҩбатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩуп Аҧсни Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы

 

Аҟәа, Аҧсны Аҩбатәи аусуҩтә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, анапы рыҵаҩуп Ареспублика Аҧсни Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы.
 

Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Саид Ҭаркьыли Урыстәыла Афедерациа аҳазалхратә маҵзура анапхгаҩы Андреи Белианинови рнапы аҵарҩит “Аҳазалхратә усқәа рыҟны аусеицуреи аицхыраареи рзы” Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра.
 

Иара убас анапы рыҵаҩуп Ареспублика Аҧсни Урыстәыла Афедерациеи реиҳабырақәа рыбжьара “Ишиашоу Жәларбжьаратәи аихамҩатә еимадарақәа реиҿкаара аҭагылазаашьақәеи”, иара убас “Амшынтә транспорт аусхк аҟны аусеицуразы” Аиқәшаҳаҭрақәа. Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аҧсны аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла Афедерациа атранспорт аминистр ихаҭыҧуаҩ Николаи Лиамови.
 

Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Иурии Акабеи Урыстәыла Афедерациа аҧсыӡкразы Афедералтә агентра анапхгаҩы Андреи Краинии рнапы аҵарҩит “Аҧсыӡ нхамҩа аусхк аҟны аусеицуразы” Аиқәшаҳаҭра.
 

Ареспублика Аҧсны акәльтура аминистрреи Урыстәыла Афедерациа акәльтура аминистрреи рыбжьара анапы рыҵаҩуп аҭоурыхи акәльтуреи Аҳәынҭқарратә баҟақәа рыхьчареи, рыҭҵаареи русхкқәа рыҟны Аиқәшаҳаҭра, уи рнапы аҵарҩит Аҧсны акәльтура аминистр ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәнбеи Урыстәыла Афедерациа акәльтура аминистр ихаҭыҧуаҩ Константин Черепенникови.
 

Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамбеи Нижегородсктәи аобласт Агәбернатор Валерии Шанцеви рнапы аҵарҩит “Ахәҳахәҭра-економикатәи, анаука-техникатәи акәльтуратәи усеицуразы” Аиқәшаҳаҭра.
 

Иара убас анапы рыҵаҩуп Свердловсктәи аобласти Ареспублика Аҧсни реиҳабырақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамбеи Свердловсктәи аобласт Агәбернатор Алеқсандр Мишарини.
 

Анапы аҵаҩуп Гәдоуҭа араиони Смоленсктәи аобласти рхадарақәа рыбжьара ахәҳахәҭра-економикатәи, анаука-техникатәи акәльтуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭреи, иара убас ахәҳахәҭра-економикатәи, анаука-техникатәи акәльтуратәи усеицуразы аусмҩаҧгатәқәа рплани. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Гәдоуҭа араион ахада Даур Возбеи Смоленсктәи аобласт Агәбернатор Сергеи Антуфиеви.
 

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аректор Алеко Гәарамиеи Н.И.Лобачевскии ихьӡ зхыу Нижегородсктәи аҳәынҭқарратә унивирситет аректор Евгении Чурпанови рнапы аҵарҩит иреиҳауаҵараиурҭабжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра.
 

Иара убас анапы аҵаҩуп Ареспублика Аҧсни аиҳабыреи Урыстәыла Афедерациа  анапхгараҭаратә еилахәыра “Агропарк-менеџьменти” рыбжьара агәҭакқәа рзы Аҧкаанҵа. Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аҧсны аҧыза-министр Сергеи Шамбеи, анапхгараҭаратә еилахәыра “Агропарк-менеџьмент” апрезидент Едуард Вырыпаеви.

 

16.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аахыҵ Кореиа имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль-еицлабраҟны “Шьараҭын” иааннакылеит актәи аҭыҧ

 

Жәлар рыкәашара Аҳәынҭқарратә ансамбль “Шьараҭын” Аахыҵ Кореиа имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль-еицлабраҟны иааннакылеит актәи аҭыҧ.
Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟалҵеит Аҧсуа телехәаҧшра акорреспондент Мадина Бган-ҧҳа Сеулынтә.
 

Афестиваль афинал аҟны аҧсуа атристцәа инарыгӡеит “Хәаҧтәи акәашара”.
 

“Ахәаҧшцәа еихымсыҕьуаз анапеинҟьабжьқәа рыла ирыдыркылеит ҳартистцәа рықәгылара”, - лҳәеит Мадина Бганба. Уи ишьақәлырҕәҕәеит “Шьараҭын” аколлективқәа  Ҭырқәтәылантә, Изарильынтә, Египетынтә, Филлипинынтә, Индиантә, Китаинтә уҳәа егьыртҭ атәылақәа рҟынтә зегь раҧхьа ишгылаз. Афестиваль иалахәын 21 тәыла рхаҭарнакцәа. Иаиааиз аҳамҭақәа риҭон ақалақь ахада Чонан Сон Му Ион. Афестиваль-еицлабра агран-при ранашьан Болгариантәи аколлектив.
 

Аҧсуа телехәаҧшра аинтервиу анеиҭоз Сон му Ион иазгәеиҭеит агәахәара шинаҭаз,  аҧсуа коллектив раҧхьаӡа акәны ари аицлабра иахьалахәхаз, насгьы аҧхьахәтә ҭып ахьааннакылаз. Кореиатәи ақалақь ахада Чонан “Шьараҭын” аколлектив аҟазара ҳарак иаадырҧшыз азы ҭабуп ҳәа раҳәо, ирзеиҕьеишьеит ақәҿиарақәа аҧхьаҟагьы.
 

Афестиваль “Чонан Хәнтарион” ажиури алахәцәа Дитер Вагнери (Германиа) Гиульхан Оздун – олаки (Ҭырқәтәыла) иазгәарҭеит “Шьараҭын” ақәгылара ҧшӡа. Урҭ инаҵшьны иазгәарҭеит болгариатәи акәашаратә коллективи “Шьараҭыни” афестиваль аҟны зегьы ишреиҕьыз. Иҳәатәуп, Болгариантәи ансамбль 2009 шықәса рзы Испаниа имҩаҧысуаз жәлар рыкәашарақәа жәларбжьаратәи афестиваль аҟны Агран-при рыҽшаҧсартәыз.
 

Ансамбль артистцәа рықәҿиарақәа рыдиныҳәалеит Сеултәи аунивирситет апрофессор Нодар Ҷанба, уи ибзоуралоуп “Шьараҭын” Аахыҵ Кореиаҟа ааҧхьара шаиуз. “Ҷыдала уеигәырҕьартә иҟоуп, “Шьараҭын” ари иуадаҩыз аицлабра-фестиваль аҟны аиааира ахьагаз”. – иҳәеит Нодар Ҷанба.
 

Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада Руслан Бебиа игәырҕьа лаҕырӡқәа изынкыломызт. Уи аколлектив зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит рықәҿиарақәа рзы”, - иазгәалҭеит Мадина Бганба.
 

Ансамбль анапхгаҩы иқәҿиарақәа изеиҕьеишьеит Аахыҵ Кореиа иҟоу Аҧсны акәльтура аминистр Нугзар Логәуа. “Ари аиааира “Шьараҭын” мацара иатәым, ари Аҧсны зегь иаиааироуп”, инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
 

Ансамбль “Шьараҭын” ааҧхьара арҭеит Уанџьу ақалақь аҟны, жьҭаарамза 21 рзы имҩаҧысраны иҟоу аҳәынҭқарратә фестиваль ахь.

 

12.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада дырҭааит Гал араион аҳәаа иаҧну ақыҭақәа

 

Иахьа Гал араион Ахадараҟны  Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь ихантәаҩрала имҩаҧысуаз аилатәараҟны ирылацәажәон Аҳәынҭқарратә ҳәаа аргылара азҵаарақәа.
 

Аилатәара аусура иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Оҭар Хьециа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба, Аҳәынҭшәарҭара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Нугзар Самсониа, аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы Андреи Бобуа, аҩныҵҟатәи аусқәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи ррегионалтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа, Аминистрцәа реилазаареи , Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа. Аҳәынҭқарра Ахада дазыӡырҩит аҳәааҟны аргыларақәа  рымҩаҧысшьазы акомиссиа раҳасабырба.

 

“Аҳәынҭқарра Ахада дырҭааит атәыла аҳәынҭҳәаа ахьчаразы ихадоу анџьныртә ргыларақәа ахьазгәаҭоу ақыҭақәа Пичора, Отобаиа, Ганмухәри,. Аҳәынҭқарра Ахада даҭааит иара убас агәаҭарҭа-аушьҭырҭатә ҭыҧ “Егры”. Уи дазҿлымҳан аррамаҵзура ахысра аҭагылазаашьақәеи, иара убас аҧсуа аурыс ҳәаахьчаҩцәа русеицура азҵаарақәеи. Аҳәынҭқарра Ахада Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Оҭар Хьециа анапынҵа ииҭеит мызкы иалагӡаны “Егры” агәаҭарҭа-аушьҭырҭатә ҭыҧ аргыларатә усурақәа рпроект азирхиаразы ”.

 

08.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны ААР: Урыстәылатәи архәҭақәа гарантны иқәгылоит Қырҭтәыла аганахьала аибашьра аиҭамырҿыцразы

 

Америка Еидҵоу Аштатқәа Рҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Хиллари Клинтон изаамҭанытәиу лҳәамҭаҟны, Урыстәыла ааҧхьара алҭоит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ртерриториақәа рыҟнытә архәҭақәа алнагарц. Уи “ианыҧшуеит аҧсуа –қырҭуа еимакы апроблемеи 2008 шықәсазтәи нанҳәамзазтәи аибашьра ахҟьа-ҧҟьақәа инарҵауланы азымдырреи”. Абри атәы аҳәоит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра, жьҭаара 7 рзы иаланарҵәаз Аҳәамҭаҟны.
 

Иазгәаҭатәуп, аҳкәажә Клинтон Аҧсны “амацәаз иҭакыу Қырҭтәыла атерриториоуп” ҳәа шазылҳәаз.
 

Убри инамаданы, адәныҟаполитикатә усбарҭа инаҵшьны иазгәанаҭоит, “Урыстәылатәи архәҭақәа Аҧсны атерриториаҟны ишыҟоу Аҧсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инамаданы”.
 

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит: “Урыстәылатәи архәҭақәа гарантра руеит Қырҭтәыла аганахьала аибашьра аиҭамырҿыцразы. Ишдыру еиҧш Америка Еидҵоу Аштатқәа активла иҟарҵо ацхыраара иабзоураны, Қырҭтәыла аплан азнархиоит Аҧсны абџьаршьҭыхла еиҭақәларазы.”,
 

“Ас иаартны Еидҵоу Аштатқәа Женеватәи ацәажәарақәа рыҟны ацхантәаҩцәас иҟоу ,Қырҭтәыла иахьаднацәыло, аҧсуа ган агәыҩбара азцәырнагоит Женеватәи ацәажәарақәа рылахәхара ахьынӡахырҳагоу азы”, - инаҵшьны иазгәаҭоуп адокәмент аҟны.
 

Аҳкәажә Клинтон ас еиҧш иҟалҵаз аҳәамҭа инамаданы, аҧсуа ган Америка Еидҵоу Аштатқәа рҳәынҭқарратә Департамент иаднагалоит “амацәаз иҭакыу Қырҭтәыла атерриториа”, “хьаҳәа-ҧаҳәада Қырҭтәыла атерриториатә акзаара адгылара аҭареи” рҵакы иаҳа инарҵауланы дазнеирц, убри алагьы ишьаҭалыркырц лпозициа иаҳа инарҵауланы, избанзар ари аҳәамҭа “Қырҭтәыла атерриториатә акзаара” абџьаршьҭыхла ашьақәыргыларазы апровокациа ҟанаҵоит.
 

Қырҭтәыла адгылара аҭара атәы иазааҭгыло, Ареспублика Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра “Америка Еидҵоу Аштатқәа рыҟны еилыркаауазароуп, Аҧсны ишагәҭакыу арегион зегьы аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи адемократиеи рыҿиаразы рхьыҧшымра ҕәҕәала ахьчара”.
 

Америка Еидҵоу Аштатқәа рырхәҭақәа раҟара, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҟны игылахьоу адунеи аҟны даҽа ҳәынҭқаррак ыҟамзар ҟалап, Ирак, Афганистан, Колумбиа, Иапониа, Кореиа, Филипины, урҭ рхыҧхьаӡараҟны Европа атәылақәа: Португалиа, Нидерланды, Испаниа, Грециа, Германеиа, Италиа, Косово, арҭ зегьы ртерриториақәа Еидҵоу Аштатқәа амацәаз иҭаркит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Клинтон лпозициала иуҳәозар
 

Аҧсны аиҳабыра “ агәҭынчымра аадырҧшуеит Америка Еидҵоу Аштатқәа рҳәынҭқарратә департамент анапхгаҩы иҟалҵаз азы,  убри инамаданы Женеватәи аицәажәарақәа рзы рпозициа аҧсарақәа аланагаларц агәҭакыуп”.

 

08.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Иаарласны Аҟәа иаартхоит ахыбра ҿыцқәа

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшьи уи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Анқәаби аҭааит иахьа, Аҟәа зыргылара иаҿу ахыбрақәа: аурыс шәҟәы Аҩны, алымшацәа-абыргцәа рыҩны “Агәыҕра”, “Роснефть” абылтәыҭаҭәарҭатә комплекси.
 

Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Алхас Ҷолокәуа адырра злаҟаиҵаз ала, арҭ ахыбрақәа рыргылара ахыркәшарахь инеиуеит.
 

Урҭ раартра азҧхьагәаҭоуп жьҭаарамза 16 рзы, Аҧсуа усуҩтә форум аусура амшқша рзы. Афорум мҩаҧысуеит Аҟәа, жьҭаарамза 15-16 рзы.

 

07.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 18 шықәса ҵуеит Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахәҭақәа рыҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи

 

Иахьа иазгәарҭоит Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рыҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи 18 шықәса аҵра. Амш хацыркхеит Гагра агәаны игылоу Аҧсны ахьыҧшымра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аҿаҧхьа ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.
 

Ақалақь аҟны, ари амш аҽны иаартын  Гагреи, Гагра араиони рхы рақәиҭтәра иазкыз афотоцәыргақәҵа. Араион акәльтура Ахан аҟны имҩаҧгаз аконцерт ашьҭахь, Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз аибашьцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, урҭ рхыҧхьаӡараҟны Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаҧхарала еибашьуази, арҭ амшқәа рзы Аҧсны зыҧсы зшьо асасцәеи ааҧхьара рыҭан аныҳәатә банкет ахь.
 

18.00. рзы Гагра ашҭаҟны имҩаҧысуеит аҧсуа естрада ашәаҳәацәа злахәу аныҳәатә концерт, 21.00 рзы аныҳәатә феиерверк.
 

Ишәгәалаҳаршәоит, 1992 ш. жьҭаарамза 2 рзы аҧсуа архәҭақәа хатәгәаҧхарала еибашьуаз аотриадқәа рыцырхырааны, ажәылара мҩаҧыргеит, иагьҭадырцәит Гагра ақалақь, жьҭаарамза 6 рзы Гагра араион зегьы. Ари аҧсуа архәҭақәа раҧхьатәи Риааира акәын.
 

Аҭоурыхҭҵааҩ Валико Ҧачлиа ишәҟәы “1992-93 ш.ш. рзтәи ақырҭуа-аҧсуа еибашьа” аҟны ишиҩуа ала, аҕа иџьаҧхани, икәалӡтәы техникеи, иабџьари зегьы ааныжьны Гечрыҧшь аганахь дыбналан дцон. Анаҩс, аҕа егьи ихәҭак ааигәа ишьҭаз абнақәеи ақыҭақәеи рахь рҽырҵәахит, егьырҭ иаанхаз, рабџьар кажьны аурыс-аҧсуа ҳәаа иахысит.
 

1992 шықәса, жьҭаара 6, 6 сааҭки 40м. рзы Ареспублика Аҧсны Абираҟ Ҧсоу иаҧну аурыс-аҧсуа ҳәааҟны иахашәыршәырит. Гагратәи лыҵшәалатәи аоперациа иабзоураны, иҧыххааса иқәҵан абарҭ ақырҭуа архәҭақәа: Дидгоритәи, Цхалтуботәи, Русҭавтәи, Қәҭешьтәи, Гагратәи 101-тәи абаталион, иара убас аелитиатә архәҭақәа – “Мхедриони” (Џь.Иоселиани), “Ҭеҭри арциви” (Г.Ҟарҟарашвили).
 

Гагреи уи акәша-мыкәшеи рхақәиҭтәразы аибашьраҟны аҧсуа ган иампыҵанахалеит 35 еибашьыгатә техникеи, жәабала аминаршәыгақәеи, хыҧхьаӡара рацәала аџьаҧхани”, - ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны.
 

Гагратәи ажәыларатә операциаҟны, аҭоурыхҭҵааҩ иажәақәа рыла, аҧсуа ганахьала иалахәын абџьарла еибыҭаз 570-ҩыуаак. Егьырҭ аибашьцәа иркыз шәарыцага шәақьқәан. Ақырҭуа ганахьала, абџьар иаҵагылан 4 нызқьҩыуаак. Ахархәара рыман 40 инареиҳаны акәалӡытехника, жәабала артиллериатә хысгақәа, авиациа.
 

“Гагратәи ажәыларатә операциа иабзоураны, амацәаз иҭакыз Аҧсны, амҩа азаатит Урыстәыла Афедерациахь. Аҧсны жәлари анапхгареи аҕа ҵыхәаҧҵәала ишииааиуа ала, агәра иаҳагьы ирго иҟалеит”, иҩуеит Валико Ҧачлиа.
 

Иара иажәақәа рыла “Гагратәи Аиааира шьахә алыршахеит зегь раҧхьа иргыланы, Аҧсны жәлар рфырхаҵареи, рхьамҵреи, иара убас Нхыҵ Кавказ аиашьаратә жәларқәа аҟабардақәа, ачеченцәа, ауаҧсаа, ачеркесқәа, адыҕәаа, абазақәа, ҟарачаа, Алада Урыстәыла аказакцәа, иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспора рхаҭарнакцәа рыцхыраареи ирыбзоураны”.

 

06.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҟәа иаагоуп атроллеибус ҿыцқәа

 

Иахьа Аҟәа иаагоуп атроллеибус ҿыцқәа. Саратовтәи аобласт Енгельс ақалақь аҟынтә еихамҩала Аҟәаҟа иааган 8 машьынак.

 

Иааизакны, 2010 шықәсазы  ареспублика анапхгара иаархәараны иазгәаҭоуп атроллеибус ҿыцқәа 18-20 рҟынӡа.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, Енгельс ақалақь аҟынтә атроллеибусқәа шаагаз 6 шықәса раҧхьа 2004 шықәса рзы, усҟан иаахәан 6 машьынак.

 

04.10.2010  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада