AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 
 Аҟәа иаартуп 30-40 ш. рзы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз ргәалашәара иазкәу абаҟа

 

Аҟәа, Аҟәа ақалақь иаартуп 30-40 ш. рзы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара иакәу абаҟа. Уи авторс дамоуп Зураб Ҭыжәба.

 

Абаҟа аартра ацеремониа иалахәын Аҧсны Ахада Александр Анқәаб, ахада ихаҭыҧуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа, арепрессиа шықәсқәа ирылаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи.

 

Амитинг аалыртит арепрессиа иаларӡыз иҧҳа Ирма Ақырҭаа. Лара инарҭбааны арҭ ашықәс еиқәаҵәақәа рҭоурых далацәажәеит. Иара убас араҟа иқәгылеит атәыла анапхгара, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа уҳәа аӡәырҩы.

 

”Сара исылшоз зегьы ҟасҵеит , сыҧсы зегьы уи иаласҵеит, иалҵыз зыӡбо шәара шәоуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ари аус анагӡараҿы исыцхрааз зегьы. Сгәы иаанагоит сусумҭа ари ақалақь аҟны акраамҭа иаанхап ҳәа”, - иҳәеит абаҟа автор Зураб Ҭыжәба.

 

Амитинг ахыркәшамҭаз абаҟа аартра ацеремониа иалахәыз зегьы уи амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит, иадыркит ацәашьқәа.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Шьазина Аҩӡба – аҿари аспорти рзы аҳәынқарратә еилакы ахантәаҩы

 

Аҟәа, Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан аҿари аспорти рзы аҳәынқарратә еилакы аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дыдлырдырит.

 

Аҧсны Ахада иусҧҟала октиабр 28 2011ш. рзы Шьазина Аҩӡба дҟаҵан аҿари аспорти рзы аҳәынқарратә еилакы ахантәаҩыс.

 

Атәыла анапхгара рыхьӡала Индира Аҩардан Шьазина Аҩӡба лмаҵура лахагылара лыдылныҳәалеит. “Сара агәра ганы сыҟоуп Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рзы аилак ахантәаҩра аназыжәуаз ишәоуз аҧышәа аҭыҧ ҿыцаҿ шәхы иашәырхәап ҳәа”, - лҳәеит лара. Индира Аҩардан иҭабуп ҳәа иалҳәеит 2005 ш. раахыс ари аилак ахантәаҩыс иҟаз Рафаель Амҧар иусуразы, иалкааны иазгәалҭеит аҿар рполитикеи ахәыҷтәы аспорти рҿиараҿы илагалақәа ртәы.

 

Шьазина Аҩӡба лыхәҭакахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа ралҳәеит рыгәрагаразы, урҭ агәра длыргеит лусура ахырҳага аҭаны лнапы шалыркуа.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Константин Кациа деиҭаҟаҵоуп амазареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс

 

Аҟәа, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин амазареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа рнапхгаҩы дыдирдырит.

 

Аҧсны Ахада иусҧҟала октиабр 28 2011ш. рзы Константин Кациа деиҭаҟаҵан амазареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс.

 

Константин Кациа атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәрагаразы. “Инагӡатәу апланқәа рацәоуп. Ҳара ҳусура ахаҭабзиара ҳаракны ианҳагӡалоит”, - иҳәеит иара.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Зураб Маршьаниа деиҭаҟаҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрc

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада иусҧҟала октиабр 28 рзы Зураб Маршьаниа деиҭаҟаҵан агәабзиарахьчара аминистрс.

 

Иахьа Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа агәабзиарахьчара аминисрра аусзуҩцәа ранпхагаҩы дыдирдырит.

 

Аҧыза-министр игәаанагарала хара имгакәа аус адулатәуп агәабзиарахьчаразы азакәан апроект. Иара убасгьы иазгәеиҭет акадрқәа рызҵаара азҿлымҳара ду шаҭатәу.

 

Зураб Маршьаниа иганахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәрагаразы. Иара урҭ агәра диргеит илшо зегьы шыҟаиҵо иҿаҧхьа ишьҭоу апланқәа рынагӡаразы.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Екатерина Онишьенко дҟаҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистрс

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада иусҧҟала октиабр 31 рзы Екатерина Онишьенко дҟаҵан Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистрс.

 

Екатерина Онишьенко диит 1978 ш. рзы. Украина ақ. Днепрозержинск аҟны.

 

2000 ш. рзы далгеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә-зинтә факультет.

2000 ш. ианвар мза инаркны октиабр аҟынӡа аус луан иҷыдоу амилициа ашкол арҵаҩыс.

2000-2007 ш. рзы дыҟан аусеилыргаҩыс, Гәылрыҧшьтәи РОВД аусеилыргаратә ҟәша аиҳабыс.

2007 ш. февраль мза аахыс Аҟәа ақалақь Аӡбарҭа аӡбаҩыс.

 

Дҭаацәароуп, длымоуп аҧҳа.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Зураб Маршьаниа деиҭаҟаҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрс

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада иусҧҟала октиабр 28 рзы Зураб Маршьаниа деиҭаҟаҵан агәабзиарахьчара аминистрс.

 

Иахьа Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа агәабзиарахьчара аминисрра аусзуҩцәа ранпхагаҩы дыдирдырит.

 

Аҧыза-министр игәаанагарала хара имгакәа аус адулатәуп агәабзиарахьчаразы азакәан апроект. Иара убасгьы иазгәеиҭет акадрқәа рызҵаара азҿлымҳара ду шаҭатәу.

 

Зураб Маршьаниа иганахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәрагаразы. Иара урҭ агәра диргеит илшо зегьы шыҟаиҵо иҿаҧхьа ишьҭоу апланқәа рынагӡаразы.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Борис Амыҷба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭуп

 

Аҟәа, Р. Гәымба ихьӡ зхәу Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа адиректор Борис Амыҷба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭуп, атәанчаҩрахьы ицара инамаданы. Уи азы ақәҵара инапы аҵаеиҩит акультура аминистр Бадра Гәымба.

 

Аамҭала аҳәынҭқарратә филармониа адиректор инапынҵақәа наигӡалоит Руслан Ҳаџьымба.

 

31.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Кристина Озган дҟаҵоуп атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс

 

Aҟәa, Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Кристина Озган дҟаҵоуп атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс.

Диит 1973ш. рзы.

 

1999ш. рзы далгоит Лыхнытәи абжьаратә школ.

 

1995ш. рзы далгоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет “аменеџьменти абизнеси” азанааҭ ала.

 

2000ш. инаркны – ақалақь Аҟәа Ахадара ааглыхреи аекономика анапхгараҭареи азыҧхьагәаҭареи рыҟәша аҟаза хада.

 

2002ш.-2003ш. - Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аекономикатә программақәа рыҟәша аиҳабы.

 

2003ш. инаркны 2004ш. рҟынӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аекономикеи аинвестициақәеи рпрограммақәа рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп.

 

2005ш. жьҭаарамза инаркны 2005ш. жәабранмзанӡа – Аекономикеи адәныҟаекономикатә еимадарақәеи рминистр ихаҭыҧуаҩ. Жәабранмза 2005ш. инаркны – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр.

 

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара дрануп.

 

27.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакерабаиа идикылеит Архангельскнтәи аделегациа

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакерабаиа идикылеит Архангельск ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Владимир Гармашов ахадара ззиуаз аделегациа.

 

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аҧыза-министр иазгәеиҭеит, Архангельск ари Аҧсны аҳҭнықалақь аиашьаратә қалақьны иҟоу ажәеизатәи шакәу. Иара иҳәеит атәыла анапхгара азҿлымҳара шарҭо аиашьаратә қалақьқәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара, акультура, аспорт, аҵарадырра уҳәа рганахьала.

 

Архангельсктәи аделегациа ахада Владимир Гармашов ихәҭакахьала иазгәеиҭеит, дара даара ишеигәырҕьо реизыҟазаашьақәа алҵшәақәа аиоуа иахьыҟалаз азы. “Архангельски Аҟәеи реиашьаразы аиқәшаҳаҭра анҳабжьаҳҵа ашьҭахь уи аусура иалагеит. Ҳара иҳалшоит Аҧсныҟа аҕәхырҭатә маҭәахәқәа раагара, аҧсуа астудентцәа рзы еиҳа ихадароу азанаатқәа рыла алимитқәа рзалхра”, - иҳәеит Гармашов.

 

Леонид Лакербаиа иҳәеит арҭ азҵаарақәа ахшыҩзышьҭра шрыҭахо, еиҳарак аҿар рҵарадырра аизырҳара аганахьала.

 

Аиҧылара иалахәын Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуеи уи ихаҭыҧуаҩ Алхас Кәыҵниеи.

 

27.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Гарик Смыр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭуп

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Гарик Смыр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит.

 

27.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа дырҧылеит Аҧсны иҟоу МККК ахаҭарнак Инске Вандормаили Қарҭ иҟоу МККК ахаҭарнак Ариан Томбеи

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа дырҧылеит Аҧсны иҟоу МККК ахаҭарнак Инске Вандормаили Қарҭ иҟоу МККК ахаҭарнак Ариан Томбеи.

 

Аиҧылара аартуа асасцәа Леонид Лакербаиа имаҵура иахагылара идырнныҳәалеит, изеҕьаршьеит ақәҿиарақәа.

 

Аҧыза-министр ихәҭакахьала иазгәеиҭеит МККК Аҧсны имҩаҧнаго аусура ахә ҳаракны ишыршьо, еиҳарак аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) хабарда иабжьаӡыз рыҧшаараҿы.

 

Аиҧылараҿы иара убас ирылацәажәеит Гал араиони Кәыдрытәи аҩхааҿ амиссиа инанагӡо апроектқәа ртәы.

 

27.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Гәдоуҭа ақалақь С.П. Дбар ихьӡ зхәу Ахьӡ Аҧша амузеи аҟны иазгәарҭеит аинрал Сергеи Дбар 65 шықәса ихыҵра

 

Гәдоуҭа, Гәдоуҭа ақалақь С.П. Дбар ихьӡ зхәу Ахьӡ Аҧша амузеи аҟны иазгәарҭеит аинрал Сергеи Дбар 65 шықәса ихыҵра. Уи далахәын Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа.

 

Гәдоуҭа араион администрациа ахадара иҭабуп ҳәа раҳәо аҧыза-министр иазгәеиҭеит, аҧсуа ар ашьақәгылараҟны аинрал Сергеи Дбар илагала шдууз. “Еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны иахьа уажәраанӡа аинрал Сергеи Дбар иубилеи инарҭбааны иазгәаҳамҭаӡац, аха уи хымҧада имҩаҧгатәуп. Еиҵагыло абиҧара ирдыруазар ауп Аҧсны Аиааира азаазгаз афырхацәа рыхьӡқәа”, - иҳәеит аҧыза-министр.

 

25.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа Гагратәи аортопедиатә центр аҟны аремонттә усурақәа шцо гәеиҭеит

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа Гагратәи аортопедиатә центр аҟны аремонттә усурақәа шцо гәеиҭеит. Иара игәаанагарала аремонттә усурақәа ибзианы ицоит.

 

Уаҟа акапиталтә ремонт хыркәшахоит ҳазну ашықәс ноиабр мза азыбжазы. Анаҩыс Германиантәи арахь иаагахоит апротез ҟаҵага амыругақәа. Уи абзоурала Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа ироуеит аҭагылазаашьа хәыда-ҧсада апротез аҟаҵара. Ахәышәтәырҭа аремонт азыуразы иазоужьуп 9 милл. мааҭ.

 

25.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа дҟаҵоуп аҵара аминистрс

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа аҵара министрра аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дыдирдырит.

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала октиабр 20 рзы Даур Наҷҟьебиа дҟаҵан аҵара аминистрс. Уаанӡа Даур Наҷҟьебиа аҳәынҭқарратә ашәҟәыҭыжьырҭа “Алашара” аиҳабыс дыҟан. Аҵара аминистр ҿыц имаҵура иахагылара идиныҳәало Леонид Лакербаиа иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара аҵарадырра еснагь ишадгыло.

 

Даур Наҷҟьебиа ихәҭакахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит аминистрс иҟаҵара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз азы.

 

Даур Капитон-иҧа Наҷҟьебиа диит 1960 шықәса рзы, Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан.

 

1977 ш. рзы далгеит Аҟәатәи ашкол-интернат №1.

 

1982 ш. рзы далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афизик изанааҭ ала.

 

1983-1984 ш. раан аус иуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет абжьаратә физика аҟәша аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩыс.

 

1985-1996 ш. раан Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алитературатә косультантс дыҟан.

 

1997 шықәса инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зхәу аҳәынҭқарратә премиа азы аҭакзыҧхықәы амаӡаныҟәгаҩс дыҟоуп.

 

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп, апрозатә ҩымҭақәеи ароманқәеи дравторуп.

 

2007-2008 ш. рзы М.Горьки ихьӡ зхәу аниститут аҟны Иреиҳау алитературатә курсқәа дрылгеит.

 

2010 ш. аахыс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ашәҟәҭыжьырҭа “Алашара” аиҳабыс дыҟоуп.

 

Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) аҧсуа радио аҟны аурыс аҟәша аредактор хадас дыҟан.

 

Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.

 

21.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Ольга Колтукова деиҭаҟаҵоуп аџьеи асоциалтә рҿиареи рминистрс

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа аџьеи асоциалтә рҿиареи рминисрра аусзуҩцәа рнапхгаҩы дыдирдырит.

 

Аҧсны Ахада иусҧҟала Ольга Колтукова деҭаҟаҵоуп аџьеи асоциалтә рҿиареи рминистрс. Аҧыза-министр аџьеи асоциалтә рҿиареи рминистр лмаҵура леиҭахагылара лыдныҳәало иазгәеиҭеит, ишырацәоу иӡбатәу асоциалтә зҵаарақәа.

 

Ольга Колтукова лыхәҭакахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа ралҳәеит аминистрс леиҭаҟацара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз азы.

 

21.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Ахада инапы аҵеиҩит аусҧҟа аҵара аминистри, аџьеи асоциалтә хьчареи аминистри, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри рыҟаҵаразы

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала аҵара аминистрс дҟаҵоуп Даур Наҷҟьебиа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс Оҭар Хьециа, аџьеи асоциалтә хьчареи аминистрс Ольга Колтукова.

 

20.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Валентина Жьиба деиҭаҟаҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра амедициантә ҧгаҧса афонд аиҳабыс

 

Aҟәa, Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Валентина Жьиба деиҭаҟаҵоуп атәыла амедициантә ҧгаҧса афонд аиҳабыс.

 

Иахьа Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан амедицинатә ҧгаҧса афонд аусзуҩцәа дыдлырдырит реиҳабы. Лара атәыла анапхгара рыхьӡала Валентина Жьиба лмаҵура ахагылара лыдылныҳәалеит.

 

Валентина Жьиба лыхәҭакахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа раҳәеит лыгәрагаразы.

 

20.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Марина Ладариа дҟаҵоуп аиҳабыра реилазаара аиҳабыс

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Марина Ладариа дҟаҵоуп аиҳабыра реилазаара аиҳабыс. Иахьа аҧыза-министр Леонид Лакербаиа Марина Ладариа аминисррақәа русзуҩцәа дыдирдырит.

 

“Шәҿаҧхьа ишьҭоу ауснагӡатәқәа рацәауп, аиҳабыра реилазаараҿы аиҭакрақәа ҟалоит”, - ҳәа иҳәеит аҧыза-министр Марина Ладариа лмаҵура ахагылара анлыдиныҳәалоз. Леонид Лакербаиа аиҳабыра реилазаара аиҳабы ҿыц ақәҿиарақәа лзеҕьаишьеит. Иара убас, аҧыза-министр иҭабуп ҳәа иеиҳәеит уаанӡа ари амаҵура иахагылаз Даур Ақаҩба.

 

Марина Ладариа лыхәҭакахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа ралҳәеит аиҳабыра реилазаара аиҳабыс лыҟаҵара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз азы.

 

20.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Зоиа Аҩӡба деиҭаҟаҵоуп аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа ахантәаҩыс

 

Aҟәa, Аҧсны Ахада иусҧҟала Зоиа Аҩӡба деиҭаҟаҵоуп аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа ахантәаҩыс. Иахьа аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин аҳәынҭқарратә астатистика аусбарҭа аусзуҩцәа рнапхгаҩы дыдирдырит.

 

“Ихадоу асумҩаҧгатәқәа ируакыуп ауааҧсыра ашәҟәы рҭагаларазы имҩаҧысуаз аусурақәа рхыркәшара. Шәара шәколлектив еснагь ибзианы аус ауан, агәра ганы сыҟоуп ҩаҧхьагьы ус ишыҟало”, - иҳәеит Александр Страничкин. Иара Зоиа Аҩӡба ақәҿиарақәа лзеҕьаишьеит.

 

Зоиа Аҩӡба лакәзар, лыгәра ахьырго азы иҭабуп ҳәа лҳәеит. “Сара жәеизантәуп ари аколлектив анапхгаҩыс сҟарҵоижьҭеи. Агәра шәсыргоит аусбарҭа аҿапҳьа ишьҭоу азҵараақәа зегьы шыӡбахо”, - лҳәеит лара.

 

19.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа ақыҭанхамҩа аминистрра аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дыдирдырит

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа ақыҭанхамҩа аминистрра аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дыдирдырит.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала октиабр 18 рзы Беслан Џьопуа дҟаҵан ақыҭанхамҩа аминистрс.

 

Леонид Лакербаиа ҧасатәи ақыҭанхамҩа аминистр Иури Акабеи аминистрра аусзуҩцәеи русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара иазгәеиҭеит, ақыҭанхамҩатә министрра аҿиара атуризмгьы ишаныҧшуа.

 

Аҧыза-министр атәыла анапхгара аганахьала аминистрраа аусзуҩцәа ақәиргәыҕит урҭ ирылшо зегьы шыҟарҵо ақыҭақәеи ақыҭанхамҩеи аҿиаразы.

 

Аминистр ҿыц Беслан Џьопуа атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит аминистрс иҟаҵара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз азы.

 

Ҧасатәи ақыҭанхамҩа аминистр Иури Акаба иакәзар иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы ауааҧсыра ақыҭақәа рахь ахынҳәра ишалагаз, аҿар ақыҭанхамҩа апроблемақәа аинтерес кны ишазнеиуа. Иара агәра ганы дыҟоуп, аҧсуа қыҭақәа аиҭаҿиара иалагар ақыҭанхамҩагьы ҿиоит ҳәа, уи иақәшаҳаҭуп зегьы.

 

19.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиеи Сергеи Верешьагини ирылацәажәеит Аҧсны асоциал-економика аҿиара акомплекстә план анагӡара азҵаарақәа

 

Aҟәa, Иахьа Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиеи Урыстәыла Афедерациа арегионалтә министрра аделегациеи реиҧылара мҩаҧысит. Уаҟа ирылацәажәеит Аҧсны асоциал-економика аҿиара акомплекстә план анагӡара азҵаарақәа.

 

Аурыс ган аделегациа анапхгара аиҭон аминистр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Вершьагин. Аиҧылара далахәын Аҧсны аекономика аминистр лнапынҵақәа назыгӡо Кристина Озган.

 

Иара убас, аиҧылараҿы ирылацәажәеит 2012 шықәсазтәи Аҧсны асоциал-економика аҿиара акомплекстә план апрограмма.

 

19.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Беслан Џьопуа дҟаҵоуп ақыҭанхамҩа аминистрс

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Жәлар Реизара адепутат Беслан Џьопуа дҟаҵоуп ақыҭанхамҩа аминистрс.

 

18.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Анзор Агәмаа дҟаҵоуп аҭоурыхтә культуратә ҭынха аиқәырхаразы аусбарҭа аиҳабыс

 

Aҟәa, Аҧыза-министр Леонид Лакербаиа аҭоурыхтә культуратә ҭынха аиқәырхаразы аусбарҭа аусзуҩцәа рнапхгаҩы дыдирдырит.

 

Аҧсны Ахада иусҧҟала октиабр 17 рзы Анзор Агәмаа дҟаҵан аҭоурыхтә культуратә ҭынха аиқәырхаразы аусбарҭа аиҳабыс.

 

Анзор Агәмаа иазгәеҭиет аусбарҭа аусзуҩцәа ирылшо зегьы шыҟарҵо аҭоурыхтә культуратә ҭынха аиқәырхаразы. Иара иажәақәа рыла аҭоурыхтә баҟақәа зегьы ирымазароуп рхатә паспорт.

 

Леонид Лакербаиа атәыла анапхгара рыхьӡала аусбарҭа аусзуҩцәа агәра диргеит, урҭ русура еснагь ишадгыло.

 

18.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Александр Страничкин аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа рнапхгаҩы дыдирдырит

 

Aҟәa, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа рнапхгаҩы Саид Ҭаркьыл дыдирдырит.

 

Атәыла ахада иусҧҟала Саид Ҭаркьыл деиҭаҟаҵоуп аҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс. Александр Страничкин иазгәеиҭеит, Саид Ҭаркьыл иусураҟны аҧышәа змоу напхгаҩык иаҳасабала дшырдыруа. Иара иҳәеит аҳазалхратә еилакы аҿаҧхьа имариам ауснагӡатәқәа шыҟоу, атәыла абиуџьет ахарҭәаареи аҳәынҭқарра аекономика аинтересқәа рыхьчареи уҳәа рҿы.

 

Саид Ҭаркьыл атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс еиҭаҟаҵара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз азы.

 

18.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Индира Аҩардан акурорти атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы асузуҩцәа рнапхгаҩы дыдлырдырит

 

Aҟәa, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан акурорти атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы асузуҩцәа рнапхгаҩы Ҭенгиз Лакербаи дыдлырдырит.

 

Атәыла ахада иусҧҟала Ҭенгиз Лакербаи деиҭаҟаҵоуп акурорти атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩыс. Индира Аҩардан изгәалҭеит, акурорти атуризми атәыла абиуџьет хазырҭәаауа акы акәны ишыҟоу. “Ҳара ҳзыргәырҕьо акәны иҟоуп аилак аҟны аус ахьыруа зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳаракәы аспециалист ҿарацәа. Урҭ напеибаркыла русура иаанаго алҵшәақәа рнапхгҩы иоуп изыбзоуроу”, - лҳәеит лара.

 

Ҭенгиз Лакербаи ихәҭакахьала атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа раиҳәеит игәрагаразы. Иҟаҵатәу аусмҩаҧгатәқәа дрылацәажәо иара иҳәеит илшо зегьы шыҟаиҵо ҳтәылаҿ акурорти атуризми ашьҭыхразы.

 

18.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аминистрцәа Реилазаара иатәу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аҭоуп

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп Лев Кәыҵниа, аҳәынҭқарратә усбарҭа “Абхазенергонадзор” аиҳабыс Алмысхан Аиба, аҭуорыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхаразы аусбарҭа аиҳабыс Анзор Агәмаа.

 

Атәыла ахада иусҧҟала имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭуп Аминистрцәа Реилазаараҿы акопиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Анатоли Бигәаа.

 

17.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҵәахырҭатә банк зҧарақәа алоу рызшәаразы акомиссиа ишьақәнарҕәҕәеит даҽа 78 – ҩык рсиа

 

Aҟәa, Аминистрцәа Реилазаара агуманитартәи асоциалтәи зҵаарақәа рзы аҟәша ареферент , Аҵәахырҭатә банк зҧарақәа алоу рызшәаразы акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Елеонора Агрба излаалыцҳауа ала, октиабр 14 рзы акомиссиа ишьақәнарҕәҕәеит 78 –ҩык рсиа. Урҭ ирызшәахо аҧара 417 566 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 

Азшәарақәа ирылагоит октиабр 17 инаркны, ирызшәахоит Аҟәа ақалақь иара убас, Аҟәа, Тҟәарчалт, Гагра , Гәылрыҧшь, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа рҟны иҟоу Аҧсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа рҟны.

 

Акомиссиа ахаҭарнакцәа ауааҧсыра иргәаладыршәоит азшәарақәа зуа аџынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеранцәеи, Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәеи урҭ рҭынхацәеи мацара шракәы, иара убас 1930 шықәсанӡа ииз ауааҧсыра.

 

17.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа акультура аминистрра аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дыдирдырит

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа акультура аминистрра аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дыдирдырит.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Бадра Гәынба дҟаҵоуп акультура аминистрс.

 

Леонид Лакербаиа ҧасатәи акультура аминистр Нугзар Логәуа иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Аҧыза-министр иара убас атәыла анапхгара рыхьӡала аминистр ҿыц имаҵура иахагылара идиныҳәалеит.

 

Акультура аминистр Бадра Гәымба ихәҭакахьалагьы иҭабуп ҳәа иҳәеит аминистрс иҟаҵара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз азы. “Сара ибзианы еилыскаауеит исыду аҭакҧхықәра зегьы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акультура аминистрра иҟанаҵахьоу маҷым, сара сганахьала исылшо зегьы ҟасҵоит ҳусмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы”, - иҳәеит иара.

 

14.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсуа ателерадиоеилахәыра ахантәаҩы Гәрам Амқәаб имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭуп

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала имаҵура аҟнытәи ихы дақәиҭуп аҧсуа аҳәынҭқарратә ателерадиоеилахәыра ахантәаҩы Гәрам Амқәаб, аамҭала уи инапынҵақәа наигӡоит уаанӡа ихантәаҩыс иҟаз Мирон Кәарацхьелиа.

 

Атәыла ахада иусҧҟала рмаҵура аҟынтәи рхы иақәиҭуп иара убас аҳәынҭкарратә дачақәа рзы аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡоз Валери Аршбеи аҳәынҭқарратә протокол азы аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡоз Алик Логәуеи.

 

14.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҳәынҭқарртә еилакқәа рхантәаҩцәа шьақәыргылоуп

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп Саид Ҭаркьыл, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс Зураб Адлеиба, акурорти атуризми рзы аҳәынҭкарратә еилакы ахантәаҩыс Ҭенгиз Лакербаи, аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс Роман Дбар.

 

Аҧсны Ахада иусҧҟала архитектуреи аргылареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы инапыҵақәа назыгӡоз Марина Аршба лмаҵураҟынтәи лхы дақәиҭуп, уи лхаҭыҧан дҟаҵоуп уаанӡа аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс иҟаз Валери Инаҧҳа.

 

14.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Бадра Гәынба дҟаҵоуп акультура аминистрс

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Бадра Гәынба дҟаҵоуп акультура аминистрс.

 

13.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа идикылеит ООН аделегациа

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа идикылеит ООН аполитикатә зҵаарақәа рзы амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Оскар Фернандес Таранко ахадара зиҭоз аделегациа.

 

Аделегациа алахәылацәа дырҧыло аҧыза-министр иазгәеҭеит ООН амиссиа Аҧсны игәакьаны ишыҟалахьоу, избан акәзар уи араҟа аус ауеит 1993 шықәса раахыс. Изагәаҭатәуп аҧсуа-қырҭуатә еимакыра азы ООН аофициалтә миссиа Аҧсны аусура иаҟәыҵит 2009 шықәса ииун 16 рзы.

 

“Араҟа ибзианы иргәалашәоит ООН ахаҭарнакцәас аус зуаз зегьы. Ҳабжьара еиуеиҧшымыз аизыҟазаашьақәа ыҟан. ООН амиссиа еснагь аобиективла иаадырҧшуан аҧсуа-қырҭуатә еимакы”, - иҳәеит аҧыза-министр.

 

Оскар Фернандес Таранко ихәҭакахьала атәыла аиҳабыра иҭабуп ҳәа реиҳәеит рыдкыларазы. Иара далацәажәеит араҟа ООН ахаҭарнак ҷыдас иҟаз Анти Турнен иусура атәы.

 

Анаҩыс аиҧылара мҩаҧысит ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

 

12.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа дидикылеит адомино азы США афедерациа ахада

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа дидикылеит адомино азы США афедерациа ахада Мануель Окендо. Аиҧылара иалахәын аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкини адомино азы Аҧсны афедерациа ахада Артур Габуниеи.

 

Леонид Лакербаиа иҳәеит ачемпионат алахәылацәа Аҧсны иуникалтәу аҧсабара адагьы ирбаша шырацәоу. Иара иазгәеиҭеит Қарҭ аиҳабыра Аҧсны ачемпионат амҩаҧгара иаҧырхагахарц шырҭахыз, аха акгьы шырзалымҵыз.

 

Мануель Окендо ихәҭакахьала иазгәеиҭеит Аҧсныҟа иаара даара дшеигәырҕьо. “Ҳара ҳделегациа алахәылацәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп арахь аара, ҳара аииара ҳзымгаргьы аҧсуа жәлар рҩызара ҳаҧсахап ҳәа сгәы ианагоит”, - иҳәеит иара.

 

12.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Адомино азы адунеи ачемпионат апрограмма

 

Aҟәa, Иааиуа амчыбжь рзы Аҧсны иаатуеит VIII адомино азы адунеи ачемпионат.

 

Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны октиабр 17 рзы Аҟәатәи абжьаратә школ №10 аҵаҩцәа рыбжьара имҩаҧгахоит ирласны аҧхьаӡаразы аицлабра. Ари аметодика аҧиҵеит Урыстәыла еицырдыруа адомино ахәмарҩ Владимир Корнеев. Иазгәаҭатәуп атәылақәа жәпакы рҟны адомино ахәмарра ашколтә программа ишалагалоу.

 

Октиабр 18, 15.00 сааҭ рзы ачемпионат алахәылацәа ашәҭқәа шьҭарҵоит Ахьӡ Аҧша апаркаҿ.

 

15.30 сааҭ рзы аҳәынҭқарратә филормониаҿы имҩаҧгахоит ачемпионат аартра.

 

20.00 сааҭ рзы аҧсуа адраматә театр аҿаҧхьа ачемпионат аҳаҭыраз имҩаҧгахоит аконцерт, анаҩс ажәан арлашоит асалиут.

 

Октиабр 19-20 рзы асааҭ 8.00 инаркны 19.00 нӡа аицлабрақәа мҩаҧыслоит.

 

Октиабр 21, 16 сааҭ рзы афилормониаҿы имҩаҧгахоит аиаарга згаз аҳамҭақәа ранашьара, убри ала ичемпионат хыркәшахоит.

 

12.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс деиҭаҟаҵоуп Рауф Цымцба

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аусзуҩцәа рхантәаҩы дыдирдырит.

 

Леонид Лакербаиа аминистрра аусзуҩцәа русуразы иҭабп ҳәа раиҳәеит, иара агәыҕра ааирҧшит ари нахысгьы урҭ ирылшо зегьы шыҟарҵо атәыла абиуџьет аизырҳаразы.

 

Рауф Цымцба ихәҭакахьала атәыла ахадара иҭабуп ҳәа раиҳәеит аминистрс иҟаҵара даҧсоуп ҳәа ахырыҧхьаӡаз.

 

12.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа ихантәаҩрала Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаҧысит

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа ихантәаҩрала Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан хызҵаарак.

 

Азҵаарақәа рылацәажәара ирылагаанӡа аҧыза-министр Леонид Лакербаиа еизаз идирдырит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәеи аминистр ҿыццәеи.

 

Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟа инақәыршәаны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәас иҟаҵоуп: Индира Аҩардан, Александр Страничкин, Владимир Делба.

 

Аҧсны Ахада иусҧҟа инақәыршәаны иара убас ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дҟаҵоуп Рауф Цымцба, атәылахьчара аминистрс Мираб Кьышьмариа, адәныҟатәи аусқәа рминистрс Виачеслав Чыркба.

 

Аилатәараҿы атәыла аиҳабыра реилазаара ирыдыркылеит ҭагалантәи аррааҧхьарақәа рзы ақәҵара.

 

Даҽа қәҵарак инақәыршәаны ноиабр 6 иҧсшьарамшны иҧхьаӡоуп, избан акәзар ноиабр 7 “Кәырбан-ныҳәа” аҽны амҽыша иахьақәшәо азы.

 

Иара убас атәыла аиҳабыра реилазаара ирыдыркылеит ақәҵара абылтәы аҭииразы ахәқәа рышьақәыргылара атәы. Уи инақәыршәаны абылтәы амарка “регулятор” 27 мааҭи 50 коп., “премиум-95” – 29 мааҭ, “супер-98” 30 мааҭ еиҳамкәа, адизельтә былтәы - 26 мааҭи 50 коп. еиҳамкәа иаҧсахоит.

 

Еизакны аҭиираан литрак абылтәы амарка “регулятор-92” - 25 мааҭи 75 коп., “премиум-95” – 27 мааҭи 50 коп. адизельтә былтәы – 25 мааҭи 50 коп. иаҧсахоит.

 

Аилатәара иалахәыз аекономика аминистр лнапынҵақәа назыгӡо Кристина Озган иазгәалҭеит аҵыхәтәан абылтәы ахә ииуль мзазы ишышьҭыҵыз. Лара илҳәеит абылтәы ахә ашьҭыҵра Урыстәылатәи аџьармыкьақәа ишрыдҳәалоу, избан акәзар 70% абылтәы уаантәи ауп Аҧсныҟа ишҭаргало. Егьа ус шакәгьы, лара лажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы Урыстәыла абылтәы ахә 2-3 мааҭ рыла еиҳауп.

 

11.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рнапхгаҩ ҿыц дыдирдырит

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рнапхгаҩ ҿыц дыдирдырит.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Виачеслав Чыркба.

 

Леонид Лакербаиа атәыла ахадара рыхьӡала Виачеслав Чыркба имаҵура иахагылара идиныҳәалеит.

 

Виачеслав Чыркба дидныҳәалеит иара убас уаанӡа адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Максим Ҕәынџьиа. “Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус руеит зпрофессионалтә ҩаӡара ҳаракәы аспециалистцәа. Афинанстә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, аамҭа маҷ иалагӡаны аминистрра иҟанаҵаз аусмҩаҧгатәқәа маҷым. Аминистр ҿыц изеҕьасшьоит ақәҿиарақәа”, - иҳәеит Ҕәынџьиа.

 

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц иганахьала иҭабуп ҳәа раиҳәеит игәрагаразы. “Сара еилыскаауеит исыду аҭакҧхықәра. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминисрра авторитет ду амоуп. Сара исымоу аҧышәа схы иасырхәоит ҳҿаҧхьа ишьҭоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы”, - иҳәеит Чыркба.

 

11.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала иалхәуп аминистрцәа

 

Aҟәa, Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟа инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп Мираб Кьышьмариа; ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс Рауф Цымцба; адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Виачеслав Чыркба.

 

11.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала иалхәуп аҧыза-министр ихаҭыҧуҩцәа

 

Aҟәa, Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала иалхәуп аҧыза-министр ихаҭыҧуҩцәа. Аусҧҟа инақәыршәаны:

 

Индира Аҩардан – Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ;

 

Александр Страничкин – аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ;

 

Владимир Делба – аҧыза аминистр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр.

 

10.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Беслан Кәыбраа дҟаҵоуп Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩыс

 

Aҟәa, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Григори Еныкь иусураҟынтә ихы дақәиҭуп.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп Беслан Кәыбраа.

 

Беслан Кәыбраа уаанӡа Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩси афинансқәа рминистрси дыҟан.

 

10.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҟәа имҩаҧгахоит аҩбатәи жәларбжьаратәи Инал-иҧа иҧхьарақәа

 

Aҟәa, Еицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Инал-иҧа 95 шықәса ихыҵра иазкны Аҟәа имҩаҧгахоит аҩбатәи жәларбжьаратәи Инал-иҧа иҧхьарақәа.

 

Аҧхьарақәа рхы аладырхәуеит аҧсуаа аҵарауаа реиҧш, ақалақь Москва, Маиҟәаҧ, Владикавказ, Нальчик, Санкт-Петербург, Махачкала, Ростов уҳәа рҟнытә аҵарауаа.

 

Аҧхьарақәа аатуеит октиабр 11 рзы, Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аконференцтә-зал аҟны. Анаҩыс аконференциа асекциақәа рыла ишахоит.

 

Шь. Инал-иҧа дравторуп шәкы инарзынаҧшуа аусумҭақәа. Раҧхьаӡатәи Инал-иҧа иҧхьарақәа мҩаҧысит октиабр мза 2007 шықәса рзы.

 

10.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Ихыркәшахеит Кавказ аҧсабареи аҵиаақәеи рыхьчара апроблема иакыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа

 

Aҟәa, Аҟәа ихыркәшахеит Кавказ аҧсабареи аҵиаақәеи рыхьчара апроблема иакыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

 

Аконференциа амҩаҧгара азкын аиубилеитә рыцхәқәа жәпакы: Аҟәатәи аботаникатә баҳча 170 - шықәса ахыҵра, Аҟәатәи асубтропикатә абнабахҷа 115 - шықәса ахыҵра, апрофессор Аьфред Колоковски 105 - шықәса ихыҵра, раҧхьаӡатәи Аботаникатә Институт адиректор Гиви Аиба 80 - шықәса ихыҵра.

 

Уи рхы аладырхәит 100 – ҩык аҵарауаа абиологцәа Аҧснынтәи, Урыстәылантәи, Чехиантәи, Беларусиантәи, Украинантәи уҳәа убас иҵегьы. Аҵарауаа иазгәарҭеит аконференциа қәҿиарала имҩаҧысит ҳәа, насгьы ас еиҧш иҟоу аҭҵаарадырратә конференциақәа ласс-лассы имҩаҧгалатәуп ҳәа. Аконференциа алахәылацәа Аҧсны Жәлар Реизарахь аҳәара ҟарҵеит аҧсабарахьчаразы азакәнпроект рыдыркыларц, иара убас ирыдыркыларц азакәан “Ашәҟәы ҟаҧшь” азы.

 

10.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа Владимир Путин имш иира идиныҳәалеит

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра рхантәаҩы Владимир Путин имш иира идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иаҳәоит: “Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәымш иира. Аҧсны ибзианы иргәалашәоит ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы шәлагала дууқәа, Урыстәыла Афедерациа ҳтәыла аекономика аҿиаразы иҟанаҵо ацхыраара. Агәра згоит ҳаҧхьаҟа ҳтәылақәа рыбжьара аусеицыура еиҳагьы ишыҭбаахо”.

 

Леонид Лакербаиа Владимир Путин изеҕьаишьеит агәабзиара, ашықәс рацәа, ақәҿиарақәа ҿыцқәа Урыстәыла Афедерациа жәлар рымаҵураҿы.

 

07.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Леонид Лакербаиа дрыдныҳәалеит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа иалахәу аботаникцәа

 

Aҟәa, Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа дрыдныҳәалеит Кавказтәи аҵиаақәеи аҧсабареи рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа иалахәу аботаникцәа.

 

“Иахьатәи ахәылҧаз ҳреспубликазы ихҭыс дууп. Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҳоит арыцхәқәа жәпакы: Аҟәатәи аботаникатә баҳча 170 - шықәса ахыҵра, Аҟәатәи асубтропикатә абнабахҷа 115 - шықәса ахыҵра, иара убас иазгәаҳҭоит аботаникатә ҭҵаарадыррақәа рҿы Аҧсны аҭоурых зыхьӡ хьтәы нбанла иарбоу апрофессорцәа риубилеи , урҭ 105 –шықәса зхыҵыз апрофессор Аьфред Колоковски 80 - шықәса зхыҵыз раҧхьаӡатәи Аботаникатә Институт адиректор Гиви Аибеи роуп”, - ҳәа аҳәоит аконференциа аартраҿы аҧыза-министр ихьӡала аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Александр Страничкин дзыҧхьаз ашәҟәы.

 

Ҩынтәуп Аҧсны имаҧысуеижьҭеи аиубилеитә Жәларбжьаратәи аконференциа.

 

Аконференциа иалахәуп 100 – ҩык аҵарауаа абиологцәа Аҧснынтәи, Урыстәылантәи, Чехиантәи, Беларусиантәи, Украинантәи.

 

Леонид Лакербаиа аконференциа алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәеи рзеҕьаишьеит.

 

06.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҟәатәи аботаникатә баҳча 170 - шықәса ахыҵра иадҳәаланы имҩаҧгахоит аботаникцәа рконференциа

 

Aҟәa, Кавказтәи аҵиаақәа реиқәырхара апроблема иазкхоит Аҟәа, октиабр 6 инаркны 9 рҟынӡа имҩаҧысран иҟоу жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

 

Уи иалахәхоит 100 – ҩык аҵарауаа абиологцәа Аҧснынтәи, Урыстәылантәи, Чехиантәи, Беларусиантәи, Украинантәи.

 

Раҧхьаӡатәи аилатәара аатуеит октиабр 6 асааҭ 9.30 рзы Аминистррцәа Реилазаара аконференцтә уада аҟны. Анаҩыс абиологцәа русура иацырҵоит ҩ-секциакны.

 

Аконференциа алахәылацәа иаҭаауеит Риҵатәи амилаҭтә парки Пицунда-Мысратәи аҳәырҧсарреи.

 

Акнференциа амҩаҧгара азкәуп аиубилеитә рыцхәқәа жәпакы: Аҟәатәи аботаникатә баҳча 170 - шықәса ахыҵра, Аҟәатәи асубтропикатә абнабахҷа 115 - шықәса ахыҵра, апрофессор Аьфред Колоковски 105 - шықәса ихыҵра, раҧхьаӡатәи Аботаникатә Институт адиректор Гиви Аиба 80 - шықәса ихыҵра.

 

05.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Аҧсны Ахада аофициалтә визитла Москваҟа дцеит

 

Москва, Иахьа Аҧсны Ахада Александр Анқәаб ахантәаҩра ззиуа аделегациа аофициалтә визитла Москваҟа ицеит. Аҧсуа адегегациа зҭаз аҳаираплан шьҭыҧрааит иахьа Владислав Арӡынба ихьӡ зхәу жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза “Аҟәа” аҟнытә.

 

Октиабр 6 рзы иазгәаҭоуп Аҧсны Ахада Александр Анқәаби Урыстәыла Ахада Дмитри Медведеви реиҧылара.

 

Аофициалтә еиҿцәажәарақәа рышьҭахь иазгәаҭоуп еиуеиҧшым аиҳабырабжьаратә аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵаҩра.

 

Аделегациа иалахәуп: аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩи афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыбраа, Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Чыркба, аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Аслан Бжьаниа, агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Зураб Маршьан, аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Роман Дбар, аҳәынҭқарратә архив аусбарҭа аиҳабы Роман Ҕәынџьиа, амасса информациатә хархәагақәа русбарҭа аиҳабы Кристиан Бжьаниа.

 

05.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Фазиль Искандер ианашьоуп алитературатә премиа «Ясная поляна»

 

Москва, Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер ианашьоуп Лев Толстои ихьӡ зхәу алитературатә премиа “Ясная поляна” “Чегемтәи Сандро” азы.

 

Фазиль Искандер апремиа ианашьара ацеремониа мҩаҧысит Москва. Ашәҟәыҩҩы ианашьан адипломи агәаларшәагатә ҳамҭас 900 – нызықь апремиеи.

 

04.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара

 

 Женева имҩаҧысуеит Кавказ ашәарҭадара аҭышәынтәаларазы аиҿцәажәарақәа 17-тәи араунд

 

Женева, Иахьа Женева имҩаҧысуеит Кавказ ашәарҭадара аҭышәынтәаларазы аиҿцәажәарақәа 17-тәи араунд.

 

Аҧсуа ган Виачеслав Чыркба ихантәаҩрала иалахәуп Аҧсны адныҟатәи аусқәа рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Лана Агрба, ҧасатәи атәылахьчара аминистр Гарри Купалба, Гал араион Аҧсны ахада ихаҭарнак Руслан Кьышьмариа, аҧсуа-абаза жәлар рассоциациа жәларбжьаратәи алахәыла Заки Қапба, аиурист Кама Џьынџьолиа.

 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Мақсим Ҕәынџьиа излааицҳауа ала Аҧснытәи аделегациа Қарҭ аҿаҧхьа иқәдыргылоит адҵа, аибашьра иаламгарц азы аиқәшаҳаҭра рнапы анырҵарц.

 

04.10.2011  Аҧсныҧресс / Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара